Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 20

Süzlärneñ gomumi sanı 3470
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
даалгәӡит. Ашәҟәы даԥхьо рнаҩсан итәаз Ливук ари аниба, уигьы дааигәырӷьан, дзыԥхьоз, дахьынӡаԥхьахьаз,
агәлаҵа нагәылеиҵан иааиҵаԥсаны, астол авҵаҿ
инықәиҵеит. Нас Стефеи Марҭеи рахь даахьаҳәын, даацәажәеит:
– Иацы, суалафахәы саун, Шиаулиаиҟа шәганы ацирки аҭыԥ ԥшӡарақәеи шәырбаны, Марҭа лзы амаҭәа
ҿыцқәа аасхәап ҳәа сгәы иҭан. Шәаала ҳцап, ма иахьа.
Амш макьана акрыҟоуп. Автобусқәа акатаҳәа ибжьоуп,
ҳзымацар ҳәа шәшәоу?
– Марҭа, ҳцап Ливук иахьиҳәаз. Аумақәа ҳрықәиргәыӷт, иҟаиҵо аабап, – лҳәеит Стефа, Ливук ииҳәаз дақәшаҳаҭны. Азныказ, Марҭа илҳәо лҿамшәо дааҟалеит.
Ашьҭахь, даахәыцын: «срыццап Шиаулиаиҟа, макьана рҳәатәы хасҵалап. Сыгәра ргартә сҽыҟасҵап», аалгәахәын, Ливук иажәақәа дрықәшаҳаҭхеит. Марҭа Шиаулиаиҟа ацара дшақәшаҳаҭхаз анеилыркаа Стефеи Ливуки аргәырӷьеит. Иаарласны Стефа рхәы ааҟалҵан, рыхҩыкгьы латәаны акрырфеит. Акранырфа ашьҭахь, дук
рҽаандмырхакәа, рҽеилаҳәа-рҽеилаца агәара инҭыҵит.
Автобус аангыларҭеи дара ахьынхози рацәак рыбжьамызт
аҟнытә, аҩны ианындәылҵ, рацәак инымхакәа инеит автобус аанҿасарҭаҿ. Уа ианнеи, минуҭк аҟарагьы мырҵыкәа
автобус ааин, иақәтәаны Шиаулиаиҟа ицеит. Дара шеицыз, ишиашаз, ацирк ахьыҟаз инеит. Уа ианнеи, акассаҿы,
аблеҭқәа рыҭира иаҿын. Ливук днеин, аблеҭқәа ааихәеит.
Уажәы, ацирк алагаразы даҽа сааҭки бжаки агын. Аамҭа рыман дара. Ацирк ааигәара аршәы ахьырҭиуаз инеин, Ливук
ирзааихәан, ирфеит. Нас апарк иҵаланы акыр илеиҩеиуан.
Ус иаадгылеит апатреҭ ҭыхырҭа.
Марҭа рыгәҭа дыргыланы рпатреҭ ҭырхит рыхҩыкгьы.
Ушьҭа раамҭа ааигәахо иалагеит. Ауаргьалаҿы инеины
игьаларц рҭаххан, аха ацирк иагхон азы имнеит. «Ацирк
анаабалак ашьҭахь, ҳааип» рҳәан, иццакны ацирк ахь
ицеит. Уа ианнеи, ицқьаны жәаминуҭк агын ацирк алагара. Дара заа инеин, рҭыԥқәа аанкыланы илатәеит. Дук
мырҵыкәа иалагеит ацирк. Ахәаԥшцәа шыччоз мацара, ацирк аанҵәеит. Ацирк ашьҭахь, ауаргьала ахьыҟаз,
апарк аҿы инеит, иахьынӡарҭахыз игьалеит. Атир аҿы
инеин, акырынтә ихысит. Акраамҭа илеиҩеиуа апарк
иҵан. Ашьҭахь, ирымбацыз аҭыԥ ԥшӡақәа акыр рбеит. «Ушьҭа адәқьанқәа ҳанрыҵаԥш-аарыҵаԥшқәап», –
рҳәан, ишнеиуаз, акинотеатр инавалеит.
Афишақәа ахькыдыз ирыхәаԥшуа инеиуан.
– «Хҭырԥа шкәакәа», аԥсуа фильм!», – лҳәан, Марҭа
арҵәааҳәа дыҳәҳәеит дгәырӷьацәаны.
– Ари зҩыз даԥсыуоуп. Сара дызбахьеит, ибзианы дыздыруеит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи реиԥылара
аан, иара иажәеинраала данаԥхьа ашәҭқәа зысҭаз иоуп.
Сан, усҟан, баргьы быҟан, дыбгәаламшәаӡои? – лҳәан,
лан длазҵааит Марҭа.
– Дышԥасгәаламшәои, ашәҭқәа анибҭа, бҩышьҭыхны,
багьааигәӡит. Иаабароуп ари афильм, угәы иацәымӷымзар, – лҳәан, Стефа лыԥшәма лхы наиқәылкит.
– Баграт Шьынқәба «Ацынҵәарах» зҩыз иакәӡами?
– Ааи, «Ацынҵәарах» иара иоуп изҩыз, ихаҭаҵәҟьа
иоуп. Изакәытә шәҟәузеи? «Ацынҵәарах» еиԥш ибзиамкәа иҟам, «Хҭырԥа шкәакәа». Иаабароуп, ишԥаҳамбои?
– иҳәан, акинотеатр шыҟаз иҿынеихеит Лвиук. Стефагьы
Марҭагьы игәырӷьаҵәа уи ишьҭаланы рҿынархеит.
Аблеҭқәа ахьырҭиуаз акассаҿы ианнеи, иара днеины агәаран днагылеит. Стефеи Марҭеи уи изԥшны, аԥса
аҵаҟа ашьашәыр аҿы рҽааныркылт. Ливук аблеҭқәа
амхны ишааигаз еиԥш, акинотеатр илыҩналеит. Марҭа
акиносахьа дахәаԥшуан, лгәы лыԥсы аҭаны. Лыжәлар
ахақәиҭраз рықәԥара, рҭоурых дахьахәаԥушаз, лылаӷырӡқәа хыҳәҳәыла иаауан. Акиносахьа иалганы, акинотеатр ианыҩдәылҵ, лылаӷырӡқәа лҿашы дыҟан
Марҭа. Ари Стефеи Ливуки ианырба, даарыцҳаршьеит,
аха ирымбозшәа ҟарҵеит, еиҳа лгәырҩа иацырҵар ҳәа
ишәазар акәхап.
– Ушьҭа адәқьанқәа ааимданы, ишаҳҳәаз еиԥш, Марҭа
лзы ҳахәҳахәҭроуп. Ишыжәбо еиԥш, шьыбжьонгьы
акыр илхыҳәҳәахьеит, ҳанцо аџьармыкьаҿы ҳнеины,
карпыжәқәакгьы ааҳхәароуп, – иҳәеит, Ливук. Уи акәхеит,
рыхҩыкгьы шеицыз, адәқьанқәа еимдо ирыҵаланы
рҿынархеит. Ана акы аархәо, ара акы аархәо, мацара
Марҭа лзы ибзианы ихәҳахәҭит. Дара рзгьы ирҭахқәаз,
акык-ҩбак аархәеит. Уаанӡа ишырыӡбахьаз еиԥш,
адәқьанқәа рҿы ирҭахқәаз аахәаны ианааҵҵ, ишиашаз
ауҭраҭыхқәа ахьырҭиуаз инеит. Еиҳа акарпыжә дуқәа
ахьеиқәыжьыз инадгылт. Алаба ахы рҟьаны абӷьыц
бжьаҵаны иҟан. Уи абӷьыц ианын акарпыжә акьыла
шаҟа иаԥсаз. Ливук акарпыжә ахә днахәаԥшын, уаҳа
дазымҵааӡакәа ҿааиҭит:
– Иҟалозар иреиҳау карпыжәк сзышәкапани? – днарыҳәеит акарпыжә зҭиуаз хаҵеи-ԥҳәыси.
– Иԥаҳҟоу, иԥаҳамҟоу? – Акарпыжә зҭиуаз ахаҵа
аахәаҩ иахь азҵаара ныҟаиҵеит.
– Иԥышәымҟан, иԥышәымҟан, аӡы кылхәхәаны идәықәлоит. Ҳахьцогьы усҟаҟҵәҟьа иааигәаӡам. Амала ибзиоу
ҳзалшәх, ламысла, – иҳәан, деиҭаиҳәахт ахаҵа.
Убри аамҭазы, аԥҳәыс лхаҵа иахь лхы нарханы аԥсышәала даацәажәеит:
– Уара, абри аду рзыкапан, ашәра агушәа сыҟоуп, наҟ
ҳаблақәа ирԥыраагап, икылымҵәакәа иргоит.
–Уаҵәгьы ҳара ара акраҳҭиуеит. Ижьаны иҳазрыҭом,
– иҳәеит, ахаҵа.
– Уаҵәы иааир, укьаԥа хырҵәар ҳәа ушәома? Наҟ
ирыҭ, – лҳәахт, аԥҳәыс. Марҭа дахьгылаз дамхамыччар
амуит. Уи дшыччо збаз, аԥҳәыс лхаҵа иахь лхы налырхан:
– Уара ани ахәыҷы ирыцу, иаҳҳәаз еилылкааит ҳәа
сыҟоуп, дахьыччаз умбаӡеи?
– Еилылымкаакәан, аԥсуа ара дабаҟагәышьоу? –
иҳәан, иԥҳәыс «абри капан», ззылҳәаз акарпыжә капанны Ливук иахь инаирххеит ахаҵа. Ливук акарпыжә зҭиуаз
иааимихуаны еиԥш, Марҭа аԥсышәала даацәажәеит:
– Ибзиоу акарпыжә ҳзалшәх, ибзиоу, иалаҳхи, ибзиам
акарпыжә.
– Унан, сҿы ашьа ҭашәааит, исҳәазеи? Ари аӡӷаб
хәыҷы даԥсыуазаап убоу? – лҳәан, аԥҳәыс илҳәаз аалцәымыӷхеит.
Ливук иикыз акарпыжә ыргьежьны, шьҭахьла иааимихт ахаҵа. Иара иҟалаз изымдыруа дгыланы аԥҳәыси
ахаҵеи дрыхәаԥшуан. Ливук имихыз акарпыжә
иаҟароуп зигәыхәуаз, ҩ-карпыжәк аалихын, акы Ливук инииркит, егьи – Марҭа. Ливук ахә сшәоит ҳәа далагеит, аха ахаҵа имгеит. Аԥҳәысгьы дахьгылаз, «ахә
шԥашәымаҳхуа» ҳәа лнапқәа ҟьо ацәажәара даҿын.
Иҟалаз анеилыркаа, «иҭабуп» рҳәеит Ливуки Стефеи,
ирҳәара рзымдыруа. Марҭагьы «иҭабуп», изаҭахузеи, –
лҳәеит, илзааигәаӡақәоу џьоукы лбазар аҟара дгәырӷьо.
Ахаҵеи аԥҳәыси Марҭа цәажәарҭахәыс дыркит. Ларгьы
аԥсыуак длымбеижьҭеи, аԥсышәала дымцәажәеижьҭеи
акыр мҵуази аҟнытә дгәырӷьаҵәа драцәажәон. Марҭа
«лтәылатәиқәа, лбызшәала лызхара драцәажәап» рҳәан,
Стефеи Ливуки «ҳааиаанӡа ара быҟаз шәеицәажәала, ҳара
иаҳзеимымдаз дәқьанқәак ҳанрыҩнаԥшны ҳааиуеит, –
рҳәан, Марҭа дааныжьны дара цеит. Марҭеи акарпыжә
зҭиуаз ахаҵеи аԥҳәыси рымала ианаанха, Марҭа лҭоурых
зегьы еилыркааит, иагьлабжьаргеит, лыԥсадгьыл ахь
дцарц. Ларгьы илҭахыз уи акәын. Еснагь дзызхәыцуаз
Аԥсныҟа ацара акәын. Ливуки Стефеи сааҭк аҟара анҵы
иааит, Марҭагьы аҩныҟа дрыманы ицеит.
Ливуки Стефеи аҩныҟа ианцоз, акарпыжә зҭиқәоз
хаҵеи ԥҳәыси рыҩныҟа инарԥхьеит. Уажәы, аԥсшәақәа
ааибыҳәаны иааидыҵит.
Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Марҭа лбызшәа лхамшҭит.
Ажәеинраалақәа илдырқәоз, ҿырҳәала иахьылҳәалози,
иахьылыҩуази, гәаныла, аԥсышәала дахьцәажәалози
рзы. Абри акәын еиҳа дзыцәшәоз. Избанзар, Марҭа лаб
иашьа Џыр илирҵаз анбанқәа еицҵо дыҩлар акәын,
ашкол аҿы дахысуамызт. Урысшәала асалам шәҟәы
лҩыртә еиԥш аҵара лымамызт. Литов бызшәала асалам
шәҟәы лҩыртә еиԥш, аҵара лыман, аха иззылыҩуада?
Уи абызшәа еилызкаауа ҳәа лара илымада, Аԥсны?
Ҳәарас иаҭахузеи, ус еиԥш иҟоу, лара аӡәгьы длымам. Ус анакәха, ишылыҩуазаалак, лхатәы бызшәала
илҩыроуп. Уаҳа лҿахәы злалҳәо даҽа бызшәак лымам.
Егьа исцәыуадаҩзаргьы, схатәы бызшәала изҩыроуп», –
лҳәан, длатәан, лаб иаҳәшьа Ҭина лыхьӡала асалам шәҟәы
аҩра далагеит. Марҭа лаб иаҳәшьа Ҭина Гәдоуҭа дынхон. Ақалақь аҿы еиҳа асалам шәҟәқәа рауан, ақыҭаҿы
инхақәо раасҭа. Марҭа асалам шәҟәы ҩны далгеит. Марҭа
Шиаулиаи даныҟаз, акарпыжә зҭиуаз рҿы дааныжьны, Ливуки Стефеи анца лара акиоск аҿы днеины, конвертк аалхәан, иҵәахны илыман. Уажәы, иаацәырганы,
илҩыз асалам шәҟәы аконверт иазбзиахаратәы, ирҽны
инҭалҵан, астол инықәҵаны, лнаргәыҵа лықәырӷәӷәаны
илахьы-лшьын, иҷыгәӡа иаалҷабит. Нас аконверт
аарҳәны астол илықәылҵан, адрес аҩра дналагеит.
Ақалақь Гәдоуҭа, акомҿараа рымҩа, аҩны аномер… Аҩны
аномер лхашҭын, илгәалаларшәарц дхәыцуа, даангылеит. Дхәыцит, деиҭахәыцит, аха илгәаламшәеит. Ианылгәаламшәа, уи ацәаҳәа аабжьажьны, аҵаҟа Ҟәышԥҳа
Ҭина ҳәа иланылҵеит. Уи аҵаҟа лара ладрес ҷыгәӡа
иланылҵеит. Иҟало збап, аҩны аномер сзанымҵеит, аха
ари амҩаҿы зегьы дырдыруеит, – лҳәан, апочтаҿы иганы, аиашьчыкь иҭалыршәит, ларгьы аҩныҟа дааит. Абри
амш инаркны, аӡә дышԥамаари, ма сысалам шәҟәы аҭак
шԥаимыҩри ҳәа Марҭа амҩа даԥшны дтәан. Асалам
шәҟәы аҵкьыс лара даар, еиҳа еиӷьын. Усҟан, длыцны
дцаргьы алшон. Асалам шәҟәы аар, лара лакәымкәа лан,
ма лабԥса рнапаҿы иҟалар ҟалон. Усҟан, Марҭа асалам
шәҟәы лырымҭаргьы алшон. Ҭина илыҩуазгьы здырхуада? Имаӡоу акы анҵаны, лара илԥыхьамшәакәа ианыҟала
илԥсыхәозеи?
Абри Ҭина дазымхәыцкәа шԥаҟалари ҳәа дхәыцуан
Марҭа.
Марҭа лаҳәшьаду лыхьӡала асалам шәҟәы анылыҩ
ашьҭахь, еиҳагьы дхәыцуа далагеит. Есымша лгәы
еиқәын, ччаԥшьык лылаԥш иҵашәомызт. Ашкол аҿы
аума, аҩны аума излазҵаауа аҭак рылҭон, акәымзар,
лара лхала акы дазҵаауа, изакәызаалак, интереск лыманы уаҩы димбацызт. Ҳәарас иаҭахузеи, ас лҟазшьа
аҽаԥсахра лҵараҿгьы илнымԥышрц алымшеит.
Аҵараҿы, уаанӡагьы иӷәӷәамыз ахәыҷы, уажәы,
еиҳа деицәахеит, «ԥшьбақәа» ахьлоулоз, «хԥақәа» рҿы
длеит. «Хԥақәа» ахьлоулоз маҭәарқәак рҿы, зны-зынла
«ҩбақәа» лауа далагеит. Лара класск аҿы длыцтәан, урыс
ӡӷаб хәыҷык, Маша захьӡыз. Машагьы Марҭагьы ҵарала
еиԥшын. Рҩыџьагьы рзы арҵаҩцәа ирҳәоз, акласс
шьҭахьҟа ижәгоит, акы злыҵуа шәакәым шәара ҳәа
акәын. Ишԥарурыз, ираҳалак, рыларыгӡон, арҭ аӡӷабцәа
хәыҷқәа.
Зны, Марҭа длыргәырӷьеит Маша.
– Марҭа, бара ббызшәала иҭыҵуа ахәыҷтәы журнал ббахьоу, ҳәа длазҵааит, ашьыжь, ашкол ашҭаҿы,
ианааиқәшәа.
– Ааи, избахьеит, анкьа, Аԥсны санынхоз, – лҳәеит,
Марҭа.
– Иахьӡузеи уи?
– «Амцабз», – иаарласны аҭак ааҟалҵеит Марҭа.
Убри аамҭазы, Маша лышәҟәыҭра аалыртын, иааҭылгеит ажурнал «Амцабз» ҿыцҳаҳараӡа. Марҭа ари анылба,
деилагарц акгьы аалыгымхеит. Марҭа иаразнак, Маша
дынлымпыҵасын, иаалымылхит.
– Ибысымҭозаргьы быздыруамеи, Марҭа? – лҳәеит
Маша, дыхәмаршәа.
– Изсыбҭо здыруеит, Маша, сбыкәыхшоуп, – лҳәан
Марҭа Маша даалгәыдылҳәҳәалеит, даалгәӡит.
– Иабабԥыхьашәеи, «Амцабз»? – иааҿахҵәаны, Марҭа
лҩыза длазҵааит.
– Иацоуп, сан ԥсшьара ҳәа Аҟәантәи данаа. Ашәҟәыҭирҭаҿы дахьнеиз илбан, иаахәаны иаалгеит. Ари
адагьы, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рацәаны иаалгеит. Амала, урҭ зегьы, урысшәала еиҭаганы ауп ишыҟоу.
Аԥсышәала иҟоу, абри «Амцабз» заҵәык ауп. Уи ззаалгазгьы бара бзоуп, лара даԥхьап ҳәа быҟоу?
«Ашәҟәқәа анаасхәоз, бҩыза даасгәалашәан, илзаасхәеит», – лҳәеит сан.
– Аҩны баннеилак, бан сыхьӡала дгәыдкыл. «Ҭабуп»
ҳәа сызлаҳәа, – лҳәеит, Марҭа.
– Ушьҭа аҵәҵәа ҟалоит, аҵатәхәы ҳагымхааит, – лҳәан
– Марҭа, Маша лаԥхьа дгыланы, лҿыналхеит.
Ашкол ашә аартны, ианыныҩнашылаҵәҟьа аҵатәхәы
ахь аккаҳәа аҵәҵәа ааҟалеит. Марҭеи Машеи агымхакәа
акласс аҿы иааит.
Иҷыгә-ҷыгәӡа урҭ рҭыԥқәа рҿы инатәеит. Рырҵаҩы
акласс дааҩналан, аҵаҩцәа аԥсшәа аараҳәаны, аҵатәхәы
дналагеит. Аҵатәхәы ацара иаҿуп. Марҭа аҵатәхәы ашҟа
лыхшыҩ ыҟам. Уи лыхшыҩ азышьҭны дзызхәыцуа, Аԥсны
иҭыҵуа ахәыҷтәы журнал «Амцабз» ауп. «Амцабз» Маша
илылҭаз, алашара иахылҵуа лҿалашозшәа лбоит Марҭа.
Знык аҩны снеины «Амцабз» снахәаԥшындаз ҳәа ауп
Марҭа дшыҟоу. Аҵатәхәы абжа цахьеит. Арҵаҩы акласс
ӷәы дадгыланы акы аниҵоит, арахь дааԥшӡуам. «Амцабз» снахәаԥшып, аалгәахәын, уи лышәҟәҭра иахьҭаз,
иааҭыхны, инарҳәы-аарҳәны, днахәаԥшит. Аԥшӡара
икны иаго иҟан, ари ажурнал. Абӷьыцқәа еихыршәшәо,
сынрыхәаԥшып, – лҳәан, абӷьыцқәа реихыршәшәара
дналагеит. Уи аамҭазы, лырҵаҩы акласс ӷәы ианиҵашаз
анҵаны, иаахьаҳәымҭа иақәшәеит. Илаԥш иааҵашәеит
Марҭа илкыз ажурнал «Амцабз».
– Бзыԥхьо закәызеи, арахь исыҭи, уажәыҵәҟьа,– иҳәан,
Марҭа илкыз ажурнал «Амцабз» лымихырц дынлыдххылт, аха лара лгәы инадылҵан, лнапқәа аакәлыршан,
илымҭеит арҵаҩы.
– Бжурнал быманы, наҟ бдәылҵ, уаҳа арахь бзымбароуп, мамзар, исыҭ – иҳәеит арҵаҩы, илақәа кылырҵыҵны
Марҭа длыхәаԥшуа.
– Исыманы сдәылҵуеит, аха ишәысҭом, ари ажурнал.
Ари аԥсуа журналуп, ахәыҷқәа ԥсыс ирхоуп, – лҳәан,
«Амцабз» лгәыдырӷәӷәаланы ишылкыз, ашә аартны,
акласс дындәылҵит Марҭа. Аҵатәхәқәа рҟнытә, аҵәҵәа
ааҟалеит. Марҭа ддәылзцаз арҵаҩы, арҵаҩцәа рҭыԥ
ахь дымнеикәа, дышиашаз адиректор икабинет длыҩналеит.
Минуҭқәак рышьҭахь, ашкол адиректор Марҭа длыԥхьеит. Марҭа ашкол адиректор икабинет дшыныҩналаз
еиԥш, илаԥш ырцәгьаны дынлыхәаԥшит, аибашьраан,
ауаа кнаҳаны изшьуаз фашистк длыхәаԥшуазшәа аҟара
дыԥхьаӡаны. Нас датәамбакәа даацәажәеит:
– «Ҟоҳ», бара боума? Даҽаӡәу џьысшьан. Сынлылабжьап аасгәахәын, аха бара ибасҳәозеи, алабжьара
бнаалаӡом. Ашьшьыҳәа бышәҟәқәа аашьҭыхны аҩныҟа
бца, бан даабгар бзеиԥшрақәоу ласҳәап акреилызкаауа
лакәзар, ҳалацәажәап, – иҳәан, ашкол адиректор Марҭа
дынлықәҵәҟьеит.
– Ибзиоуп, сцап, нас, – лҳәан, Марҭа адиректор икабинет дындәылҵит. Марҭа дышиашаз, акласс аҿы днеин, лышәҟәыҭра аашьҭылхын, акласс дныҩныҵит дышҵәыуаз.
Маша Марҭа дҵәыуашәа анылба, ларгьы лылаӷырӡқәа
налҿашит. Марҭа аҩны даннеи, аӡәгьы дыҟамызт. Дышиашаз луада дныҩналан, дызҿыз аҵәуара инацылҵеит.
Акыр данҵәыуа ашьҭахь, «Амцабз» аалгәалашәеит. Лылаӷырӡқәа аалырбан, лышәҟәҭра иахьҭаз, иааҭыхны,
астол илықәылҵан, зны, абӷьыцқәа еихыршәшәо, дынрыхәаԥшит, нас ажурнал аҩнуҵаҟа, ажурнал хәыҷы
«Аԥра» аахлыртын, лылаԥш нахылгеит. Абар лара лқыҭантәи ахәыҷқәа ражәеинраалақәа ахьану. Марҭа лаб
иашьа Кәасҭа иԥа Раулии иԥҳа Ализеи ражәеинраалақәа
ануп. Ализеи Раулии Марҭа лаҳәшьеи лашьеи роуми. Урҭ
рҩымҭақәа дрыԥхьоит, деиҭарыԥхьоит. Лара лбызшәа,
лгәы аазыблит, игәхьааганы «шьыри, сқыҭаҿы сыҟандаз!»
– аалгәахәит. Марҭа лгәырҩақәа зегьы аалхашҭит, лылақәа ҭыҟаԥшьааӡа иҟаз, ччаԥшьк зхымыз, уажәы,
аччаԥшь ықәҳәҳәо, иҭыџьџьаауа, иааҟалеит.
Аԥсуа ашәак амотив аалгәалашәан, аҳәара дналагеит.
Убри аамҭазы, Стефа дахьыҟаз аҟнытә дааин, ацәыкәбар
дааҵашылт. Марҭа ашәа ҳәо луада дыҩноуп. Аԥсуашәа
лҳәоит. Марҭа ашәа анбалҳәахьаз? Еснагь лгәы еиқәын,
иарбану, нас лара ас дгәырӷьо дҟазҵаз Марҭа, – лҳәан,
Стефагьы лхы-лҿы аалхалашеит. Дышиашаз, Марҭа луада дныҩналеит Стефа. Марҭа дгәырӷьаҵәа дахьыҟоу,
Стефа лгәалаҟазаара шьҭнахт.
– Марҭа, бгәырӷьаҵәа бахьыҟаз, сгәы иаахәеит, избзоуроузеи, ас бгәырӷьара? – Стефа лыԥҳа длазҵааит:
– Ари ббоу? – лҳәан «Амцабз» астол иахьықәыз, Марҭа
иаақәылхын, лан иналлырбеит.
Стефа «Амцабз» даннахәаԥш, уигьы даагәырӷьеит.
– Ибызҭада «Амцабз»? – Стефа лыԥҳа азҵаара
лылҭеит.
– Сҩыза Маша лан Аҟәа лыԥсы лшьон. Исзаалгеит, –
лҳәеит Марҭа, нас лызҵаара инацылҵеит:
– Ара ианқәоу ббоу? Ализеи Раулии ражәеи-нраалақәа роуп. Стефа раԥхьатәи лабхәында иԥеи иԥҳаи ражәеинраалақәа ажурнал «Амцабз» иахьаныз лгәы иаахәеит.
– Бдухар, Аԥсныҟа бсышьҭлуеит, башьцәа рышҟа, –
лҳәеит Стефа лыԥҳа лхы налықәкны, лгәы иаахәап ҳәа
даахәыцын.
– Иҭабуп, исабҳәаз азы. Сан… – лҳәан, Марҭа илҳәарц
илҭахыз лзымҳәазт дааҿахеит, длыхәаԥшуа дааҭгылеит.
– Марҭа, ак бҳәар бҭахӡамзи?
– Ак сҳәар сҭахын.
– Иарбан ибҳәарц ибҭахыз?
– Сан, исҳәарц исҭахыз… «Амцабз» акласс аҿы сахьаԥхьоз азы арҵаҩы сдәылицеит. Адиректоргьы аҩныҟа бца
ҳәа сеиҳәеит. – Уи Стефа иаалцәымыӷхеит.
– Адиректоргьы бышәҟәқәа быманы аҩныҟа бца ҳәа
сеиҳәеит, – лҳәахт, Марҭа илымҳәац џьышьаны, лгәы
еиҟәыжәжәо.
– Адиректор бызхирҟьои, уигьы акласс аҿы «Амцабз»
бахьаԥхьоз азоума?
– Ааи, уи азоуп, арҵаҩы иеимҳәеи? Ҳәарас иаҭахузеи
уи арҵаҩи адиректори сгәалаҟазаара ӷәӷәаны ибжьырхит, аха ашкол ахь зынӡа снармышьҭуазаргьы агәхьаа
скым. Уи агәырҩа иснаҭо аҟара, жәаба иацны «Амцабз»
агәырӷьара снаҭеит, – лҳәеит Марҭа.
– Уи бзиами, Марҭа? еснагь бзыргәырӷьалаша бры-
қәшәалааит, – лҳәан, Стефа лыԥҳа лгәырӷьара аалымалырҽхәеит, аха лара лгәы ааиқәылеит, лҵатәхәқәа
нҵәаанӡа лыԥҳа ашкол аҟнытә, аҩныҟа дахьаарышьҭыз
азы. «Исаҳарызеишь сара ашкол аҿы сахьнеиуа», ҳәа
дхәыцуан Стефа.
Адырҩаҽны шьыжьымҭан, Стефа ашкол ахь дцеит,
Марҭа дымгаӡакәа. Ус иахәҭоуп ҳәа илԥхьаӡеит лара. Избанзар, адиректор ииҳәақәаз зегьы лыԥҳа лыла илмаҳаи,
ҽзымдыр ҟалҵозма? Ашкол ахь Марҭа днаишьҭуазар,
адиректор «даашьҭы», иҳәозар, даалышьҭып, ишԥаҟалҵари, Стефа? Иара даԥшәымами, аԥшәма дивасны иҟалҵарызеи? Стефа ашкол аҿы даннеи, аҵаҩцәеи
арҵаҩцәеи иааихьаз маҷҩын. Адиректор икабинет ашә
ҟьаҟьаӡа иаартын. Иара дыҩҩуа астол дахатәан. Адиректор ихы данҩаха, Стефа дибеит. Уи Стефа даниба, «арахь
бааи», – иҳәан, инапы ааиҟьеит. Адиректор данлыԥхьа
Стефа длыҩнашылт.
Акраамҭа еицәажәон адиректори Стефеи. Нас
Стефа дҩагыланы аҩныҟа дааит. Аҩны дахьааиз,
лыԥҳа илалҳәеит адиректор ииҳәақәаз зегьы акгьы
аанмыжьӡакәа. Ус егьа иҳәазаргьы, дақәшаҳаҭхеит
Марҭа ашкол ахь лынашьҭра. Акгьы агәхьаа мкӡакәа, зегьы чҳаны, Марҭа ашкол ахь дцарц лабжьалгеит Стефа.
Адырҩаҽны шьыжьымҭан Марҭа лышәҟәҭра аашьҭыхны
ашкол ахь дцеит.
Аԥшьбатәи ахы
Ҭина аҩны дыштәаз, ҽнак аҷыгә-ҷыгә ҳәа ашә аӡә дасит.
– Блеи, – лҳәеит Ҭина, иааиз дзусҭоу ҽеишәа деилымкааӡакәа. Ара ус ауп ишыҟоу. Ақалақь хәыҷуп, зегьы
еибадыруеит. Илзааиуа лдыруеит. Тәымуаҩы дааиӡуам
усгьы. Иааиуа зегьы рзыҳәан, лышә, лгәашә есымша иаартуп. Дааҩнашылеит Ҭина лгәыла ԥҳәыс Сырма. Уи салам шәҟәык лкуп. Асалам шәҟәы Сырма илкушәа Ҭина
ианылба:
– Асалам шәҟәы сзаабгама? – лҳәеит, Ҭина дыхәмаршәа
иааиз лгәыла дҩылхаҵгыланы. Лара уи асалам шәҟәы
зынӡакгьы дазыԥшӡамызт.
– Бтәа, Сырма, – лҳәан, Сырма дахьтәашаз наллырбан,
лара дахьтәаз лҭыԥ аҿы длатәеит. Сырмагьы аскам даахан, иахьыллырбаз, длатәеит.
– Уамашәагьы ибымбан, салам шәҟәык боухьоушәагьы
быҟам, ус ауми?
– Ус акәымкәа, нас ишԥыкәу?
– Ус акәзар, нас ари закәи? – лҳәан, Сырма илкыз асалам шәҟәы Ҭина лахь иналырххеит. Сырма илкыз асалам
шәҟәы Ҭина иаалымылхит. Ажәжәаҳәа аконверт аахлыртын, асалам шәҟәы ааҭылхын аԥхьара дналагеит. Ҭина
асалам шәҟәы аԥхьара дналагаанӡа, Сырма даацәажәан:
– Иаха ахәылԥаз, аԥошьҭаныҟәгаҩ Смел сара сҿы
даакыдгылан, Ҟәыш-ԥҳа Ҭина лыҩны аномер бдыруама, салам шәҟәык лзааит, аҩны аномер анӡамкәа. Салагар исԥшаашт, аха садхалоит, бара исызлыҭ, шәара
бзиа шәшеибабо, ибзианы издыруеит, – иҳәеит, аԥошьҭаныҟәгаҩ. Ҭина асалам шәҟәы аԥхьара даҿын. Ус лылаӷырӡқәа лылҿашит.
– Ари зыҩуа, сашьа иԥҳа лоуп, аԥхьатәи иԥҳәыс лҟынтә,
– лҳәеит Ҭина, ари асалам шәҟәы лзаазгаз, лгәыла ԥҳәыс
Сырма ашәҟәы иаҳәо, лаҳар лҭахызшәа анылба.
– Уу, рыцҳа, ибҳәоны смаҳахьази!.. Дхәыҷымзи, усҟан,
анлызҳа шәкалыжьуама? Ус ԥыҭҩык ҳамандаз, – лҳәан,
Сырма «сылԥырхагахарым, даԥхьааит, длызхәыцааит
лашьа иԥҳа» лҳәан, дҩагыланы ддәылҵны лҿыналхеит.
Ҭина дзыԥхьоз асалам шәҟәы астол инықәылҵан:
– Унан, бцама, сара иԥсыша, баанымгыло, зны? –
лҳәан, дааӷьаҵәы-ӷьаҵәит Ҭина, аха Сырма илымукәа
дцеит.
– Сара исхароуп, сысалам шәҟәы ашҟоуп схы ахьыҟоу,
сысас пату злықәсҵашаз сгәаламшәеит, – лҳәан, даагьежьит Ҭина. Инагӡаны дызмыԥхьацкәа астол иқәылҵаз,
асалам шәҟәы аақәхны аханатә аԥхьара дналагеит.
Аԥхьаҩ иҳарҳап ари асалам шәҟәы иаҳәо, усҟан, аԥхьаҩ
еиҳа деиликаауеит Марҭа. «Саб иаҳәшьа Ҭина, ари асалам
шәҟәы бзызҩуа башьа иԥҳа Марҭа соуп. Излазыҩуагьы
схатәы бызшәоуп. Схатәы бызшәа, Аԥсны саныҟаз
исҵаз ала. Избанзар, изыҩуа маӡоуп. Урысшәала изҩыр,
еиҳа ибзиахон, аха сани сабԥсеи иаарымпыҵашәар,
сзықәшәо сыздыруам. Амала, урҭ аҩыџьа сара сзы даара
ибзиақәоуп. Сан, сан лоуп, аха сабԥса сиԥҳаҵәҟьоушәа
сибоит. Убас дшыҟоугьы сара дысҭахӡам. Сара исҭаху
сабҵәҟьа иоуп. Ашкол аҿы сыхҭакны срымоуп, литов
бызшәала аҵара ахьсзымҵо азы. Сҩызцәа ракәзар,
сахьаԥсуоу азы сыԥхаршьоит. Ус сҳәеит ҳәа урыс ӡӷабк
сыкласс аҿы дсыцтәоуп. Уи хатәы иаҳәшьак дысзылҩызоуп. Ааигәа лан Аҟәа лыԥсы лшьон. Ажурнал «Амцабз» аахәаны исзаалгеит. Саԥхьеит Ализеи Раули,
ражәеинраалақәа. Даара исгәаԥхеит. Сара атәым жәҩан
аҵаҟа, атәым дгьыл сықәгылоуп. Ааԥынҵәҟьа ашәҭқәа
анышәҭуа, сара сзы ԥшӡарак рылам. Аԥснытәи аԥсабара
ԥхыӡырла избалоит. Издыруеит схатәы иашьцәа ҩыџьа
шсымоу. Идухазар акәхап шьҭа. Санԥса асалам шәҟәқәа
сзылҩуеит. Дыбзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уахь снеир, сылбару? Ҭина, сбыҳәоит, сысалам шәҟәы шаабоулак еиԥш, дарбанзаалак, аӡәгьы иамҳәаӡакәа, бааирц.
Бара бызбар, зегь шәызбазшәа сҟалон. Сышәҭахызар,
сбыцны снеиуан. Ҭина, санԥса сылҭахымхар, нанду лҿы
сзаангылаӡом, избанзар, урҭ еизааигәаны инхоит. Бара
бҿы саангылар, уа ашкол сҭалар, бмуӡари? Сбызнагозар,
бааир, сбыцны снеиуеит. Абзиаразы, саҳәшьаду…».
Ҭина ари ашәҟәы даԥхьаны данаалга, лылаӷырӡқәа
чабрала иаалрыцқьан, дҩагылеит. Даныҩагыла ауп
иангәалҭа, астол дахатәаны, асалам шәҟәы дахьаԥхьоз
лылаӷырӡқәа илеиуаз, астолқәыршә шарбааӡаз.
– Ишԥазури? – даахәыцит Ҭина, асалам шәҟәы даԥхьаны даныҩагыла. «Илҭахым Марҭа дахьыҟоу. Даазгоит ҳәа сцар, лан дсылҭашам. Лара дсыцаар лҭаххашт.
Дсыцаар, уаҳа ацара лҭахымхакәа даангылар, лан дры-
цҳами, лгәы ԥжәашт, лара Марҭа дсылҭаҵәҟьаргьы, дахьааиуа, иҟало здыруада? Ус акә, егьыс акә дахьугалак,
дыцҭәахоит. Аха дыцҭәахоит ҳәа дызлакаҳажьрызеи,
дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дышҳашьҭоу? Уи сара мап лцәыскыр,
наӡаӡа гәыхәшәарҭахәыс слымкуеи? Уаҳа аӡәгьы иамҳәаӡакәа, сара сцап. Сашьцәа ираҳар, сара сымшьҭӡакәа,
ҳара ҳцоит ҳәа иалагашт. Уи аҵкыс еиӷьуп, аӡәгьы
иамҳәаӡакәа сара сцар. Аха аблеҭ амхра мариам,
аԥсшьацәа рацәоуп». Абас дхәыцуан Ҭина. Ахәылԥазы
еиԥш, аҩны илымаз лусқәа данаарылга, Ҭина авокзал
дцеит. Уаанӡа лгәы ишаанагоз еиԥш, аԥсшьаҩцәа рацәан
азы, аблеҭ аахәара цәгьахеит. Жәамш рышьҭахь адәыӷба
ицо аҿы аблеҭ аахәаны иаалгеит.
Ихарацәоуп, аха ишԥалури? Даамццакыргьы макьана
аԥсшьаҩцәа рацәаҩуп. Есс наҟ-наҟ, еиҳагьы еицәахоит.
Жәамш иаалычҳап. Жәамшмоу, шаҟа шықәса ҵхьоузеи,
Марҭа лан длыманы дцеижьҭеи, аха илчҳауанеи, уажәы,
илзымчҳари? Ҭина жәамш митәык ыҟамшәа илԥхьаӡон,
аха жәашықәса реиԥш илхылгеит. Асекундқәа сааҭхеит,
асааҭқәа мшхеит, амшқәа шықәсахеит. Аха ҿҳәарак
змам ҳәа иҟоузеи? Иааит жәамш захьӡызгьы. Ақыҭахь
дцан, илгашаз аалгеит. Усҟан, лҭаацәа рҿы зынӡак иаалҿыҵалмыршәеит дахьцоз. Ҧсшьаҩцәақәак рзы исҭахуп ҳәа ауп иралҳәаз. Гәдоуҭа адәыӷба аангыларҭатә
вокзал аҿы днеит. Адәыӷба ааира сааҭк аҟара шагыз,
ателеграмма ҟалҵеит Литваҟа, Стефа лыхьӡала. Аперрон
аҿы илхалгеит лаамҭа. Дзацәажәарыз лмоукәа агәҿыӷь
дагар ҳәа ушәозу? Аԥсшьаҩцәа дышрацәажәоз, днаҳәныдааҳәаанӡа, лсааҭ нҭакәкәа ицеит. Адәыӷба ааин, иззаӡа
аперрон иаадгылт. Аԥсшьаҩцәа адәыӷба аҭалара иаҿын.
Ҭинагьы урҭ дрылагыланы, адәыӷба дынҭалан, лкупе
аалԥшаан, днеины лҭыԥ аҿы днатәеит.
Ҭина лымҩалаҩцәа макьана уаҩы дмааицызт. Дук
мырҵыкәа, урҭгьы еихык-еиҵыкны аддыҳәа акупе
ааҭдырҭәааит. Адәыӷбагьы, «шьҭа шәаала» аҳәозшәа,
абжьы ныҭцаны иааҳәҳәан, авагонқәа неинҟьа-ааин-
ҟьан, аҿынанахеит. Авагон аҩнуҵаҟа аџьџьаҳәа ауаа
рцәажәабжь ҩныҩуан. Урҭ ирҳәон доусы рыԥсы ахьыршьоз, ишыршьаз. Ргәы иаахәаз, иаамыхәаз. Ирҳәашаз
мачхәызма, ацәажәара иаҿын.
Ахәылԥазы ауп Шаулиаи адәыӷба аннеи.
Стефеи, Ливуки аҩны иҟан, урҭ аусурантә иаахьан.
Марҭагьы ашкол аҿынтә даахьан, лыдҵақәагьы ҟалҵахьан. Рыхҩыкгьы еицны илԥылеит. Адәыӷба авагон
аномер рымдыруази, иахьаангылоз аԥхьаҵәҟьа иаангылеит ахҩыкгьы. Адәыӷба аангылаанӡа атамбур аҿынтә
дыԥшуан Ҭина, аха адәыӷба ашьшьыҳәа иахьцоз аҟнытә,
иаԥылақәоз лылаԥш нархьылгӡон ауп, нас дыҩрывсуан,
илдыруаз уаҩы лылаԥш дыҵашәомызт. Адәыӷба анаангыла, Ҭина дызҭаз авагон аԥхьа хҩык шгылаз лылаԥш
иааҵашәеит.
«Арҭ дара роуп, сара исзыԥшуп», – лҳәеит, Ҭина. Избанзар, хҩык ыҟоуп. Аӡә дҿоуп, уи Марҭа лоуп. Ахаҵа
Стефа лыԥшәма иакәхап. Лгылашьа зеиԥшроу ала
аԥҳәыс Стефа лоуп, аха данааҳә, лхы-лҿы анаалзылырха «ари лара лакәӡам» ҳәа лгәы иаанагеит. Избан акәзар,
Стефа убысҟаҟара лҽылыԥсахит, убысҟаҟара ахәыжә-цәа
лыҟәнылеит, дудырратәы дыҟамызт лара. Ҭина авагон
длыбаарц амардуан данаҿагыла ауп, Стефа данеилылкаа. Убасҟан, Стефагьы Ҭина лылаԥш дааҵашәеит, нас
Марҭа лахь лхы налырхан:
– Марҭа, абан баҳәшьаду амардуан дахьаҿагылоу,
бнеины блыцымхраауа, бызгылоузеи? – Абри лҳәеит,
лара Марҭа дылзымԥшӡакәа уахь лҿыналхеит. Марҭа
лаҳәшьаду лылаԥш данааҵашәа, лан дынлаԥысын авагон амардуан дааҵаххит:
– Саҳәшьаду, бчамадан сыҭ, бчамадан. – Ҭина лчамадан Марҭа илылҭарц ианыналырхха, Стефа иаалымылхит. Асумка атамбур иқәгылаз, аақәылхын Ҭина Марҭа
лахь иналырххеит. Марҭа Ҭина асумка аалымылхын,
Стефа ачамадан ахьлыргылаз, Марҭа лабԥса иаԥхьа
иналыргылеит. Нас дааҳәын, Ҭина лахь лҿыналхеит
Марҭа. Убасҟан, Ҭина амардуан дылбааны, аперрон
даақәгылахьан. Стефеи лареи гәыдибакыланы аԥсшәа
еибырҳәахьан. Марҭа лгәырӷьаратә лаӷырӡқәа лҿашы
Ҭины лыхәда дҩахьынҳалеит. Ҭина Марҭа ҳәа илдыруаз дабаҟаху, аҭыԥҳа наӡа лакәхахьеит. «Саҳәшьаду, банцо с-Ԥсадгьыл ахь сыбгароуп, сара ара исҭахӡам», ҳәа
Марҭа лгәы ашьҭыбыжь ҭыҩуан. Марҭа лгәы ашьҭыбжь
иҭыҩуаз, Ҭинагьы илаҳауазшәа лгәы иабон. Рҩыџьагьы
рыгәқәа убас еизааигәан. Арҭ аԥсшәа анааибырҳәа, Ливук даарыдгылт.
– Ари сыԥшәма иоуп шәеибадыруаз. Ливук ихьӡуп, –
лҳәеит, Стефа, лыԥхашьа-ҧхаҵара мчыла лҽаалхшәа.
– Даара сгәы даахәеит. Уаҳа назҭахым ҷкәыноуп, –
лҳәеит Ҭина, – Стефа хаҵа дахьцаз, лгәы ишаамыхәазгьы
– Ҭина сыхьӡуп, Марҭа лаб иаҳәшьа соуп, – лҳәеит Ҭина
Ливук иахь дынхьаԥшны.
– Даара сгәы иаахәеит ҳаибадырра, насгьы сасра ҳара
ҳахь шәахьааз, – иҳәеит, Ливукгьы.
– Иҭабуп, ас гәахәарала сахьшәыдышәкылаз, – лҳәеит
Ливук ииҳәаз ажәа аҭакс Ҭинагьы. Уи акәхеит, Ҭина лчамадани лсумкеи аалымырхын рҿынархеит. Рмашьына ахьгылаз инеин, абагаж ашә аартны, рымаҭәақәа
нҭарҵеит. Зегьы амашьына ианақәтәа, Ливук имашьына
аус ааирун, аҿынаирхеит. Сааҭбжак ашьҭахь, Стефараа
ргәашә инадгылт. Марҭа амашьына длыбаан, днеины,
агәашә аалыртит. Амашьына агәашә аартны инҭалеит.
Зегьы ллыбааит. Ливук имашьына, зышә аартыз агараж,
иныҵаиргылт. Ливук изԥшны игылан. Ливук данааи,
зегьы еицны, асасааирҭахь иҩхалеит. Стефа, иаразнак,
лысасцәа рхәы аҟаҵарахь дниасит. Ҭина лчамадани лсумкеи рахь лнапы налырххеит, Марҭа лхы налықәкны:
– Ана иҭақәоу, арыжәтәи ашәырқәеи роуп. Урҭ сҭиразы иаазымгаӡеит. Шәара шәзоуп изаазгаз, – лҳәеит.
Марҭа дгәырӷьаҵәа днеин, ашәыр ааҭыхны аваза азна
ааҟалҵан, астол инықәлыргылт.Алитра азна ажьаӷьтә уат-
ка, урҭ инрывалыргылт. Жәа-литрак зкуаз апластмасстә
уалыр ааҭылхын, ауада агәҭахьшәа инкҿалыргылеит.
Ашәырқәа зҭаз, иахылхша, ахылххьан усгьы. Иахьгылаз,
иаашьҭыхны ауалыр хәыҷы ахьгылаз, инаганы инавалыргылт.
Али-ԥси рыбжьара Стефа абысҭа уны, астол иаақәлыргылт. Асыӡбал, акәтыжь, ашә ҟәаҟәаса ачанахқәа
ирынҵаны инарывалыргылт. Астол ахьлырхиоз Марҭагьы длыцхраауан. Аԥсуаҵасҵәҟьа астол дырхиеит. Ари
Ҭина уамашәа илбан:
– Аԥсны сыҟоушәа збоит, Стефа. Араагьы абысҭа
жәуама?
– Абысҭа шԥаҳамуеи? Акәтыжьи аԥсыӡи бысҭада рыфара схаҿы исзаагом, – лҳәеит Стефа.
– Марҭагьы баргьы ишәфашт, аха Ливук изыфуоу?дҵааит Ҭина.
– Ливук инацәақәа адкыланы имфааити? Уи иаҟара
абысҭа бзиа избода? – аҭак ҟалҵеит Стефа.
– Сынтәатәиала, макьана, ацитурстә шәырқәа ҟамлацт, аха аҵәахырҭа шәымазаап, – иҳәеит Ливук, аваза
ианыз мандарина цырак аахыхуа.
– Ааи, аҵәахырҭа ҳамоуп, – лҳәеит, Ҭина…
Абас ишынеицәажәа-ааицәажәоз акрырфеит, акгьы
инахәеит. Аҵх акыр инаганы ауп дара шышьҭалаз.
Ҭина ари аҭаацәараҿы данааи, ԥшьашан. Амҽыша,
асааҭ хәба рзы акәын аҩныҟа дхынҳәраны даныҟаз.
Уи аҟнытә, ахәашеи асабшеи Шиаулиаиҟа дрыманы ицеит. Аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәаны илдырбеит. Аресторан ахь днарԥхьеит. Ларгьы акыр дыхәҳахәҭит.
Иаалхәақәаз зегьы лсумкақәа ирҭаҵаны иҟалҵеит.
Адәыӷба аангыларҭатә вокзал, дара ахьынхоз, даарак
иацәыхарамызт. Ихаразаргьы уаанӡа днарымго иҟазма?
Аха рыцҳарак ҟалеит. Ливук аус ицызуаз иҩыза бзиак машәырла дҭахеит. Уи дышҭахаз ала иҩызак дааин,
иеиҳәеит. Ишԥаиурыз Ливук? Ҭина заа днаганы авокзал
аҿы дизыртәомызт, арахь, Стефеи иареи аԥсрахьы имцар ҟаломызт.
– Ԥсыхәа зламоу ала, адәыӷба ақәҵра сааҭк аҟара шагу
ҳаауеит, – рҳәеит, Ливуки Стефеи.
– Иаҭахӡам, шәара шәахьцо, шәымццакын, Марҭа
снаскьалгап, – лҳәеит Ҭина. Уи акәхеит Стефеи Ливуки аԥсрахьы ицеит. Ҭинеи Марҭеи аҩны иаанхеит, даҽа
ԥшьба-хәба сааҭ аҩны иҟазар ауп. Нас ауп авокзал ахь
ианцо. Марҭеи Ҭинеи рымала аҩны ианаанха, Марҭа Ҭина
лаԥхьа длатәан, лоунытә даақәԥсычҳаны, ус лҳәеит:
– Ҭина, асалам шәҟәы ибзызҩыз бгәаламшәои?
– Ааи, ишԥасгәаламшәои? – аҭак ҟалҵеит Ҭина.
– Убасҟан сгәы шыҟаз ауп иахьагьы ишыҟоу. Исҭахым
ара, сга аҩныҟа, сыбҭахызар. Сбымгар, иҟасҵо сара издыруеит.
– Ус бымҳәан, Марҭа. Бара бхәыҷӡам, бгаӡаӡам, ибҳәо
шиашам шԥабзымдыруеи? Усҵәҟьа бгәы ианҭаз, дара
ахьынӡаҟаз ибымҳәоз. Бара анҿыбымҭ, анкьа зны ак
бҳәан ҳәа сара исызцәырымгеит. Ицәырзгаратәгьы изымбеит. Сахьшәыхәаԥшуаз, напы еикәыршала шәеибабоит. Нас сара ацәгьа злашәыбжьысҳәарызеи? Заа ибҳәар,
сырмацәажәарызи, ушьҭа ишԥаҟаҳҵои?
– Сбыццоит, уаҳа ишԥаҟаҳҵои?
– Ус иҟалаӡом. Имҳәакәа сара бсызгаӡом. Иаанӡа
сара сзаангылон, аха адәыӷба сагхар, адырҩаҽны аблеҭ
сауӡуам. Заа аблеҭ ааухәароуп. Исымоу аблеҭ ԥхасҭахар,
даҽа мызкы, аблеҭ смоур ҟалоит. Нас мыз дуӡӡак ара
сызлатәарызеи, базхәыци, Марҭа? Иаҭаххар, даҽазны
саауеит. Усҟан, мызкы аҟара ҳәа брымхны бызгоит, нас
аамҭа иаҳнарбоит, баб иҿы баангылуоу, ма арахь баауоу.
Ҽеишәа бхәыц, сбыкәыхшоуп, Марҭа, – лҳәеит, Ҭина.
– Ибзиоуп, нас, бара саб иаҳәшьа сбывасны акгьы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
  • Büleklär
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3616
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1944
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1900
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1960
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3601
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3561
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3536
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1919
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1837
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3531
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1792
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3534
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1927
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3529
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1942
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2029
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1764
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3469
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1874
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3534
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1817
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3505
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3589
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3513
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1846
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3596
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2039
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3462
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2017
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3535
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1917
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3504
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1870
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3559
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1937
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3589
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1892
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3502
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1894
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1881
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3579
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1970
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3591
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1902
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1863
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3527
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1924
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3591
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1994
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3523
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1937
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1923
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3533
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1780
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3455
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1920
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1994
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3455
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2056
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3480
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1999
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3545
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2061
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3528
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1968
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1833