LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
Süzlärneñ gomumi sanı 3596
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2039
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
гәҭакыс ирымаз, Ӡымццак аарцә абнара хҟьаны, АхалСоҧелаа ирымырхыз амацара акәӡамызт, Аҧсны зегьы
ампыҵахалаҩцәа рҿынтә аҭарцәра акәын.
***
Витиа ашьауҕа иқәыз анихига, дышиашаз, Маниа лҿы
днеит. Уа иҟан иани иҷкәыни. Урҭ уа ишыҟаз иара идыруан. Зегьы иеигәырҕьаны иҧылеит. Ауха ашьтәа шьны
ихәы ҟарҵеит. Мсураҭ Шларҭаҧатәи абжьаратә школ
дҭан, аҩбатәи акласс аҿы аҵара иҵон. Аурыс бызшәа
шиҳәоз еиҧш, аҧсуа бызшәагьы иҳәон. Ари Витиа даара
игәы иаахәеит. Адырҩаҽны, шаанӡа дҩагыланы, иҩныҟа
дцеит ибаразы, аха ҽеи ыҟамызт. Иаандақәа каҳахьан,
арахә, ишырҭахыз, иуҭра иҭан. Ишәыр – иқәыр акгьы
убомызт, зегьы ахыӡӡаахьан. Иҩны акәзар, еилаҳахьан,
уи ашықәс асы рацәаны иахьлеиз иахҟьаны. Витиа
иҩны ақәра аман. Уи ҟаҵаны ауп иаб ишааихәаз, ҩажәа,
шықәса, уажәы аҧхьа. Игәы каҳаны ауп дышҩеиз,
Маниа лыҩны. Уи уа дышҩеиз еиҧш, дахьыҟаз, иибаз иаҳаз, ауха ианааилатәа зегьы реиҳәеит. Ирхысыз
аӡынра ашьҭахь, уахь дымлеицызт Марфуша. Руҭра
аандақәа шамамыз, арахә шҭаз лдыруан, аха илыздыруамызт, рыҩны шкаҳаз. Уи даара лгәы иалсит Марфуша. Лыҷкәын деибга-дызҩыда дахьааз, дгәырҕьаҵәа
дшыҟаз, уи лгәырҕьара наҵанарӡит рыҩны ахькаҳаз.
«Шьҭа ишҧаауеи, Витиагьы ара даангылома?» - лҳәан
гәаныла, Марфуша лылаҕырӡқәа нхажжылеит.
Ари рбеит Маниагьы Марусиагьы. Урҭ ирдырит Марфуша лылаҕырӡқәа раара зыбзоураз. Рыҩџьагьы рылаҧшқәа ааиқәшәеит. Убасҟан, Маниа даацәажәан:
- Марфуша былахь зеиқәыбҵои, бзыҩнало аҩны бмоур ҳәа бшәоума?
- Иуадаҩми, аҩны аргылара.
- Бара бахьыҟоу, иаргьы дыҟазааит, ҧҳәыс дааигааит,
дынхааит.
- Ара дыҟазаргьы бзиоуп, аха ари зтәу ара инхааит.
Сара сыҩны рысҭоит, - лҳәеит Марусиагьы.
Маниагьы Марусиагьы гәык ала ишырҳәаз лдырын
Марфуша лгәы ааҭынчхеит.
- Иҭабуп шәара ишәҳәаз азы. Џьара аусура салагоит, изулак схы збашт, сани схәҷи сзеицбауам. Шәара ус
анышәҳәа, сара мап скуам. Мышкы зны саҧсахозар
жәбап, - иҳәеит Витиа. Дақәшаҳаҭхеит Маниеи Марусиеи
ирҳәаз.
Абри ашьҭахь, Марусиа Маниа лҿы днеины дылҿылеит.
Витиа иани иҧеи иманы Марусиа лыҩны дыҩналеит.
Витиа раҧхьа аус ахьиуаз, аусура далагеит. Иҧсшьара
мшқәа раан, рыҩҭӡыкгьы раандақәа икуан, арахә зымнеиуа иҟаиҵеит. Ишааиауаз еиҧш иҧарақәа шеибгоу
ианацәа рыхҩыкгьы раҧхьа инықәиҵон. Аха дара абазк
ахырхомызт, аҧара изеидыркылон.
Арҭ рыхҩык аҳәсақәа анык леиҧш изыҟан. Уи иара
даргәырҕьон, игәы иҵҧраауа, илымшаша илнаршон.
Хәымса иҭаацәа иманы, ҩны анхара далагеит. Витиа
иҭаацәа иманы, Марусиа лыҩны днеины, ҧҳәыс дааганы, анхара далагеит. Аныки абыки ирхылҵыз ҩыџьа
аиашьцәа реиҧш, арҭ ара иеицынхон, пату еиқәҵаны.
Арҭ рынхашьа рынҵышьа пату ақәҵаны иалацәажәон
ауаа цқьақәа.
***
Акыр шықәса анҵы ашьҭахь Хәымсеи Наташеи
аҧсышәала иҭрыжьит ашәҟәы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәқәаз ирызкны. Уи хьӡыс иаман; «Хашҭра
рықәым ҳзыхьчаз» ҳәа. Ари ашәҟәы ҩ-ҟәшак аман.
«Ҳзыхьчаз, иҭахаз», «Ҳзыхьчаз, иаҳзынхаз» ҳәа.
Рыҩҟәшакгьы рҿы, аибашьцәа рпатреҭқәа анҵаны,
рҭоурыхқәа аҵаҩны иҟан.
Уаҟа ианын, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәны,
иҭахақәази, иаақәази зегьы.
Ари ашәҟәы пату зқәуҵаша шәҟәуп. Усҟантәи аамҭазы, ари еиҧш иҟаз шәҟәы ыҟамызт. Ргәы иаахәаны
аҧхьаҩцәа ирыдыркылеит. Зегьы, зқьы цыра ыҟан,
иҭахақәаз рҭаацәеи, аибашьра иалахәқәази ирырҭеит.
Иаанхаз, ашәҟәыҭирҭатә магазинқәа рҿы ишаны,
иқәырҵеит. Аха мчыбжьык имнеит, иааимҵәаны иргеит аҧхьаҩцәа. Ари ашәҟәы аахәара иахьӡаз, гәырҕьаҵәа
иҟан, аха аахәара иахьымӡақәаз, «иҵегь ҭрыжьыр,
иҟалози» ҳәа агәынамӡара рыман. Урҭ ргәынамӡара ирымаз аацәырганы ирҳәон.
Хәымсеи Наташеи ари ашәҟәы анҭрыжь ашьҭахь, уа
иаанымгылеит. Ирыӡбеит Шларҭаҧаа рҵеицәа, зқьи
жәшәи ҩажәеи жәибыжь шықәса рзы, ҩажәеи жәааҩык
ақыҭа апатриотцәа, «ажәлар раҕацәа» ҳәа ахьӡ рыхҵаны,
ажәлар раҕацәаҵәҟьа идырӡыз рҭоурых ҩны, абри
ашәҟәы, иҭыжьыз еиҧш, даҽа шәҟәык ҭрыжьырц.
Абас, Хәымсеи Наташеи рқыҭа Шларҭаҧа аҭҵаара
иаҿын. Убри адагьы, дара ирыҩуан, астатиақәеи аочеркқәеи. Урҭ бзиа ирбон, ауаа бзиақәа рҽхәаны, рцәыргара.
Иарбанзаалак, рџьарак злоу, статиак рымҩыцызт. Уи
бзиа ирбаӡомызт, урҭ зыҩуаз, «ацәгьаҳәаҩцәа» ҳәа
ирыҧхьаӡон. «Абзиа ауп аҩра зҭаху, ацәгьа зҳәара
дшыҟаларыз, абзиа зҳәо дҟалондаз» – рҳәалон дара.
АНИ АԤСАДГЬЫЛИ
Ароман
М
арҭа лани лаби рҭаацәа ирҿыҵны
инхоижьҭеи митәык ҵуамызт. Урҭ
зҿыҵыз Марҭа ландуи лаб иашьеи ракәын.
Марҭа лаб ҩыџьа аишьцәа иман. Иеиҳабы
Кәасҭа ихьӡын. Уи уаанӡа дырҿыҵны
хазы анхара далагахьан. Акыргьы иҭаацәа
дырцәыхараны дынхон. Марҭа лаб Захар дахьынхоз,
аҩнду еиҳа иазааигәан, Кәасҭа дахьынхоз аасҭ а. Аҩнду
амраҭашәарахь ала иҟан, Захар иҩны – амрагыларахь
ала. Захар иҩни иҩндуи еимариашаны, рыҩбагьы амрагыларахь рыхқәа рханы игылан. Амра аныҩыҵхахалак,
ашәахәақәа рцәыкәбарқәа инылаԥсон. Шьыбжьон амра
нхышәҭаанӡа ус иҟан. Амра шьыбжьон ианынхышәҭлак
нахыс, рыҩнқәа рышьҭахьҟа акәын амра ахьԥхоз, раԥхьаҟа ашьашәырра лахатәон.
Захар иҩны ашьҭахь дгыланы, амраҭашәарахь ала
данԥшлак, дахьыҩныҵыз иҩнду ацәыкәбар днылаԥшуан. Аӡәыр агәара дықәзаргьы даақәибаауан, ҳәатәык
анимоугьы ибжьы наиргалон. Иара иҩны ахьгылаз, акыр
илаҟәыран, аҩндуаа, рыҩны ахьгылаз аасҭа. Убри аҟнытә,
аҩнду аҿынтә уанԥшлак, Захар игәара унаргәыҵа еиԥш,
уқәԥшуан.
Марҭа лакәзар, аҩндуаа рҿы дҳәар-ҳәаруа дцаны,
даалон. Амала лаб иашьеиҳаба, Кәасҭа дахьынхоз лымала дымцацызт. Уахь лымала дцар дшәон, акыр ахьыбжьаз аҟнытә. Дымшәакәа, макьана дхәыҷымзи, Марҭа?
Хәышықәса заҵәык роуми аарлаҳәа илхыҵуа. Аҩндуаа
рҿы, лассы-лассы дахьааилоз акәхап, ландуи лаб иашьа
Џыри даара бзиа изылбоз.
Андуцәа, усгьы, рмаҭацәа рзы ишыҟоу жәдыруеит,
Минагьы лмаҭа длызгәаҟуан. Илылалҵауа длымамкәа
бзиа дылбон. Ҽнак длымбар дылзычҳауамызт, дхагахон.
Марҭа лани лаби рхарала, ҽнак анду лахь Марҭа данымнеи, Мина илықәыршәны дара рахь дцон. Еилылкаауан,
арысҟаҟара аамҭа дара рахь Марҭа дызхымааизеи ҳәа.
Марҭа лаб иашьа Џыр, занааҭла дырҵаҩын. Марҭа
знык дызҳаны, ашкол дҭаландаз ҳәа дыҟан. Џыр убас
дахыццакуан Марҭа ашкол лҭалара. Лара ашкол дҭалаанӡагьы, аԥхьашьеи аҩышьеи бзианы илдыруан. Уи
илзырҵаз Џыр иакәын.
Џыр Марҭа аԥхьашьеи аҩышьеи лырҵара адагьы,
аԥсабарахь, лассы-лассы, ныҟәарагьы дигалон. Марҭа
диманы ахәы дхалон, арха еимидон, аӡиас аԥшаҳәа давалон, абна еихашьшьыра дыҵалон. Абас аныҟәарақәа
раан, иибоз, аҵлақәеи ашәҭқәеи рыхьӡқәа леиҳәон.
Урҭ еиҩдыраашьас ирымақәоу леилиркаауан. Аҩныҟа
ианыхынҳәуаз еиуеиԥшым ашәҭқәеи аҵла рбыӷьқәеи
ргәыдыҳәҳәала ирыманы иаалон. Аҩны ианааилак, аҽны
ныҟәара аԥсабарахь иахьыҟаз, ирбаз-ираҳаз, ландуи,
лани лаби ирзеиҭалҳәон.
Марҭа аԥсабара даара бзиа илбо лызҳауан. Марҭа лан
Стефа лыхьӡын. Уи даԥсыуамызт, длитов ҭыԥҳан. Аамҭа
кьаҿла, лара аԥсуа ҵасқәа ҵаны, иагьыналыгӡон. Уи
дызбалак, дарбанзаалак, даԥсыуоуп ҳәа ада уаҳа даҽакы
лзимҳәартә еиԥш дыҟан. Мина лҭаца даара бзиа дылбон.
Уи длеигәырӷьаны илзылҳәон: «жәаҩык аԥсыуа ҭацацәа
дреҩсуеит» ҳәа.
Марҭа дшыхәыҷызгьы, х-бызшәак рыла дцәажәон:
аԥсшәа, аурысшәа, алитов бызшәа. Нас уи бзиами! Ауаҩы
заҟа бызшәа идыруа аҟара, убырсҟаҟара дҳаракыми,
акультура илами, урҭ абызшәақәа иахьрыхәҭоу, ианахәҭоу изҳәар.
Захари Стефеи Марҭа дрыманы Литваҟа ицалон. Лара
Шиаулиа ақалақь азааигәара қыҭак аҿы дынхон. Стефа
лан данычмазаҩха, лассы-лассы, лан дылбалар лҭаххеит,
аха илылшомызт. Аума ахьыбжьоу атәылаҿы, лассылассы, ацара-аара мариоума? Уи лдыруан Стефагьы. Уи
азын лыԥшәмагьы гәыбӷан илҭомызт. Ус иааиуан. Стефа
аԥыхьа аасҭа, еиҳа лан дыгәхьаалго далагеит. Ашьыжь
дҩагылацыԥхьаӡа ус лҳәалон: «Иаха ԥхыӡырла Литва
сыҟахын, сан дызбон, ак лыхьзар ҟалап…»
Ари уахык акәым, ари ҩаха ракәым дыцәацыԥхьаӡа,
еснагь лани лыԥсадгьыли ԥхыӡырла илбалон. Данааԥшлакгьы, урҭ ракәын дзызхәыцуазгьы, дызлацәажәозгьы. Стефа илзымчҳаӡауа даналага, илыӡбеит лыԥшәма иуазар, рынхара-рынҵыра зегьы наҭины, дара
Литваҟа нхара ҳәа ицарц. Аха лара илцәыуадаҩын,
уԥсадгьыл ааныжьны сыԥсадгьыл ахь уаала ҳәа лыԥшәма
иаҳәара. Иалҳәаргьы ак алҵуеит ҳәа лгәы иаанагомызт
аҟнытә, имҳәаӡакәа ус дааиуан. «Игәаӷьны исҳәап,
иалҵуа збап, имур исыхьхуеи?» – лҳәан, уахык Марҭа
даныцәа, Стефа лыԥшәмеи лареи рымала ианааизынха, лгәы иҭаз аацәырганы лыԥшәма иалҳәеит. Уаанӡа
лара лгәы ишаанагоз акәхеит. Захар башахазгьы иԥшәма
дақәимыргәыӷӡеит, иԥшәма длыцны, иара аӡәыр имазар
ара иааныжьны, Литваҟа ацара.
Захар Литваҟа ацара мап ахьикыз, лара ицтәылымгеит.
Уи ииашара еилылкааит. «Диашоуп Захар, дхаҵоуп,
ԥҳәыс дааигеит, дынхоит-дынҵуеит. Иԥсадгьыл аҿы
дыҟоуп, ԥҳәыск лзыҳәан иԥсадгьыл каижьуама?» – лгәы
иааҭылҳәааит Стефа. Уи нахыс Стефа лыԥшәма уаҳа
ажәакгьы иалымҳәеит.
Ҽнак Стефа лымала аҩны дшыҟаз апочтаныҟәгаҩ
ҽыла ргәашә даадгылт. Стефа днеиԥылеит. Иарҭмаҟ
дзынтәалаз икәадыр ашьҭахь иадҳәаланы иақәыз асумка
инапы нҭишьын, газеҭқәак ааҭыхны Стефа иналиркит.
Нас иҩнуҵаҟатәи иџьаба инапы нҭишьын, ателеграмма
ааҭихын, убригьы налиркит. Ателеграмма злалиҭаз ала
лнапы аҵалҩит.
– «Уҽыжәҵ, уԥсы ааиҭоукып», – лҳәеит Стефа, аха иара
«иҭабуп, сыццакуеит» – иҳәан дааҳәны иҿынеихеит.
Апочтаныҟәгаҩ данца ашьҭахь ауп, Стефа ателеграмма данаԥхьа. Асҵәҟьа ануп ҳәа дыҟазар, апочтаныҟәгаҩ
ателеграмма шаалиркыз еиԥш, дамыԥхьози, аха… Стефа ателеграмма дшаԥхьаз еиԥш, лылаӷырӡқәа лыблақәа
иаархыжжылт. Илкыз ателеграмма ааиҩырҿаны лыкәа
инҭалҵеит. Нас дышиашаз, луада дныҩналан, лызхара
дҵәыуеит. Акыргьы дхәыцит Стефа. Уи илдыруан, лан
дышԥсыз, аха Захар иалымҳәеит. Захар иалҳәар, иаргьы длыццар акәын, аха уахь Захар игара, лара иаԥсам
ҳәа илԥхьаӡеит. Избанзар, Захар уахь дцеит ҳәа уа иара
даангыломызт. Аԥсы анышә данарҭалак ашьҭахь, лара
диманы арахь дшаауаз лдыруан. Убри аҟнытә, Стефа
лыԥшәма лан дшыԥсыз иалымҳәеит. Ахәылԥаз Захар
усурантә аҩны данааи, Стефа днылҿаԥшызар, лылақәақәа ҟаԥшьшьӡа, дышҵәыуоз удырратәы иҟан.
– Ибыхьзеи, Стефа, бзырҵәыуазеи? – иҳәан, длазҵааит
Захар иԥшәма.
– Сан дгәаҟуеит ҳәа ателеграмма соуит, – лҳәеит Стефа, лан дшыԥсыз лыԥшәма иамҳәаӡакәа.
– Ус акәзар, ацара аҭахуп, иҳамоу ҳԥарақәагьы ҳазхом.
Сашьцәагьы уажәтәиала акгьы рымам. Ҳԥарақәа зқәуу,
иахьа дызбан, «мчыбжьык ашьҭахь уԥарақәа уҩны инаганы иусҭоит» ҳәа сеиҳәеит. Уи амц зҳәо иакәӡам. Уаанӡа,
ма џьара иааԥсахны ҳцап, ҳааир, иаҳҭап, – иҳәеит Захар.
– Аԥара аԥсахра сцәымӷуп. Уаргьы ишуцәымӷу здыруеит. Уаҵәы аашар, сара Марҭа дсыманы сцап, нас ҳԥарақәа
зқәу иуиҭар, уара унеип, анеира аҭахны иҟалозар. Мчыбжьык аҟара уа уаангылап, нас арахь ҳаицны ҳаап. Ус
сҳәеит ҳәа, уара угәы ишаанаго ауп аус злоу, угәы ишаанаго еиԥш уныҟәа, сара акгьы сгәы иалсӡауам, – лҳәеит
Стефа. Захар Стефа дахьынӡацәажәоз дӡырҩуа дгылан,
нас даацәажәеит:
– Ус бара ианыбҭахха, бара ибҳәаз сара мап ацәыскуам,
– иҳәеит Захар, уаҳа акгьы ахымҳәаакәа. «Бан дгәаҟуеит,
рҳәеит, аха, дыԥсызар ҟалап» ҳәа игәы иааҭиҳәааит За-
хар. Арҭ ирӡбаз Марҭа ианларҳәа, дгәырӷьаҵәа дааҟалеит.
Захар иԥшәма ихы налықәикын:
– Ҳара иаҳаӡбаз сан иласҳәап. Баргьы саргьы ҳада
ҳҭаацәара рахьтә аӡәгьы изымдыруа, Литваҟа шәцара
иашам.
– Иуҳәо иашоуп, Захар. Сара снеины исҳәон, аха, сара
сҽааидыскылап. Уара унеины, уани уашьеи ираҳәа, –
лҳәеит, Стефа. Стефа илҳәаз Захар ихшыҩ аназишьҭ,
инықәыршәны аҩнду ахь дцеит. Захар дахьнеиз, иани
иашьеи иреиҳәеит, уаҵәы аашар Стефа Марҭа длыманы
Литваҟа амҩа дшықәло. Ателеграмма шроуз, Стефа лан
дшычмазаҩыз зҳәоз. Ари Мина ианаалаҳа:
– Дыԥсгәышьазаап, рыцҳа, – лҳәеит.
– Дыԥсызаргьы ҟалап, аха дыԥсит ҳәа ателеграмма
иаҳәом, – иҳәеит, Захар, Стефа илҳәаз хаҵаны. Уи иара
иҿы амц лҳәоит ҳәа игәы иаанагозма?
– Сара иԥсыша, Стефа лан дыԥсыҵәҟьазар, лымала дахьцо, иашоума? Ҳаргьы иҳахәҭами, аха… Ҳара
ҳакәым, ма уара узцандаз. Абри азоуми, нан, иааигәоу
лаагара зыбзиоу. Стефа сызкәыхшоу, илаҳар лгәы иалымсуеи, уажә исҳәо? – лҳәеит, аҵыхәтәан лгәы иҭаз
аахтны лыҷкәын иҿы иахьылҳәаз, лгәы иаланы, нас
инацылҵеит:
– Џьара ҳуцхраап ҳәа уҟоу, нан? Акапеи кылҵәа
ҳаҩны иҩнам иахьала. Амала, уара ишудыруа еиԥш,
арыцхә ҩажәа рзы Џыр иуалафахәы иауеит. Иахьа
жәибжьуп. Хымш роуп иагу иуалафахәы иоуразы, уигьы
уиҭап. Уаҵәы шаашалак, саргьы аџьармыкьахь сцап.
Џьара ҟәрышьқәак сзаагозар збап. Нас ҳгәылацәа рҿы
акы ааҳаԥсахп, иаҳзымшәар ҳәа ушәуоу, уажәтәила
ҳаиԥҟьеит акәымзар. Уажәы сара сцоит лҳәазар, дцааит,
уан дукәыхшоуп. Илымам лымдыруеи, сызкәыхшоу Стефа, – лҳәеит Мина, иахьала цхыраарак ахьрылымшоз,
лгәы иаланы.
Адырҩаҽны шьыжьымҭан, Захар иԥшәмеи иԥҳаи
имашьынала Адлер иган, аҳаирплан иақәыртәаны, иара
дгьежьны аҩныҟа дааит. Стефа зыҽны днеиз, аҽны акәын
аԥсы анышә данарҭоз. Аԥсы анышә данарҭа ашьҭахь
дхәыцын, лан лҩышә зыргылоз ҳәа лара лыда уаҩы длымамызт. Аҩнгьы баша иԥхасҭахар лҭахымхазт, Захар иахь
ателеграмма ҟалҵеит абас анҵаны: «Сан дыԥсит, лҩышә
зыргыло сара сыда уаҩы длымам, насгьы сани саби
рааԥсара сзыԥхасҭатәуам. Марҭеи сареи ара ҳаҟазаауеит.
Ҳара уаҳа уахь ҳнеиӡуам. Ара уаанымгылозар, уа уҟаз
арахь умааин, ҳәа нанҵаны. Захар ателеграмма иоуз
уамашәа ибеит, избанзар, ас иара дақәгәыӷуамызт.
Иҟаҳҵаша, иаауша ҳәа акәын еснагь еибырҳәалоз. Захар ателеграмма иоуз, иани иашьцәеи иганы идирбеит. Иара иеиԥш, даргьы уамашәа ирбеит Стефа илҳәаз.
Ирызхамҵеит дара. Иани иашьцәеи иабжьаргеит иҭаацәа дрышьҭаланы дцарц, ируазар арахь иааигарц. Ирымуазар иаргьы уа даангыларц, изакәхалак, иҭаацәа
каимыжьырц. Иани иашьцәеи рҳәатәы хаҵаны, Захар
Литваҟа дцеит. Уаантәи дхынҳәны данаа, излеиҳәаз ала,
Захар Литва даангыларц иабжьылгеит, аха сыԥсадгьыли
шәареи шәысзеиҩыхуам, – иҳәан, дхынҳәны, арахь,
Аԥсныҟа дааит.
Ари ашьҭахь, лассы-лассы, асалам шәҟәқәа рыҩуан
Стефеи Марҭеи. Урҭ ирыҩуаз, Захар нхара ҳәа уахь
днеирц акәын, аха иара иуамызт. Уахь анеира акәым,
ирыҩуаз асалам шәҟәқәа рҭакқәаҵәҟьа аҩра даҟәыҵит.
Ус ҟаиҵар, игьежьны арахь ишԥамаари ҳәа агәыӷра
иман. Уахь дшымнеиуаз анырдыр, даргьы асалам
шәҟәқәа рыҩра иаҟәыҵит. Шықәсык аҟара анҵы, Марҭа
лаб ихьӡала ашәҟәы лҩит: «Саб, уара скаужьит, аха сара,
уара уеиҳагьы иеиӷьу аб дсымоуп. Сгәырӷьаҵәа сыҟоуп,
ашкол сҭоуп» ҳәа анҵаны.
Захар ишԥаиурыз? Иара дааҳәны иҭаацәа дзырҿыломызт, инхара кажьны. Арахь, иҭаацәа цеит. Ушьҭа
иԥшәмагьы хаҵа дцеит. «Сыԥҳа, сыԥҳа лоуп, мышкы,
усгьы, хаҵа дцоит ара дыҟазаргьы. Дахьыҟазаалак слыцхраалап», – иҳәан, иаргьы ԥҳәыс дааигеит. Ҩыџьа аԥацәа
лхылҵит иааигаз аԥҳәыс. Захар аԥҳәыс иааигаз, ауаҩы
изааигәаз, ауаҩы дызҭахыз, аламыс зылжжуа иҟаз аӡә
лакәын лара. Уи асалам шәҟәқәа Марҭа илзылыҩҩуан.
Аҳамҭақәа лзылшьҭуан. Уи лыдагьы Марҭа ландуи,
лаб иашьцәеи ус даанрыжьуамызт. Асалам шәҟәқәеи
аҳамҭақәеи лассы-лассы илзыршьҭлауан.
Аҩбатәи ахы
Марҭа ахәбатәи акласс аҿы дтәоуп, аҵара бзианы
илҵоит. Ан дануп, дарбан ану зыхшаара бзиа дзымбо? Стефа лыԥҳа бзиа дшылбац дылбоит. Лабԥса Ливук
иакәзар, уигьы иара дихылҵызшәа пату лықәиҵоит.
Марҭа лыда иара уаҳа хылҵ димаӡам, уи пату лықәимҵар,
бзиа димбар, уаҳа пату зқәиҵода, бзиа иибода, Ливук.
Ливук ауалафахәы бзианы иахьиауаз аусурҭа бзиа иман.
Иара ауалафахәы иауцыԥхьаӡа, Марҭа лгәы иаахәап ҳәа
ҳамҭак анылзааимхәоз ҳәа мышкы ыҟамызт. Аха, иалаухи, иара дызлышьҭаз, еиԥш, лара дылҭахымызт.
Аԥсны даныҟаз еиԥш, длахҿыхӡа, «амца дақәуҵар,
дымбылуа» ҳәа ишырҳәо еиԥш, дыҟамызт Марҭа.
Уи ԥыхьа илымаз лҟазшьақәа лыԥсахит. Еснагь лгәы
еиқәуп. Марҭа ас дҟалеит, лан хаҵа данца ашьҭахь.
Уаанӡагьы акыр лҽылԥсаххьан Марҭа, аха уажәык зынӡак
акалашәақәа дҟалеит. Ливук егьа ҳамҭа лзааихәаргьы,
егьа ажәа хаа лзиҳәаргьы, лара лылахь еиҵыхны
дызихәаԥшуамызт. Лабԥса иҿы акәым, ланҵәҟьа лҿгьы
ус ауп дшыҟоу. Иларҳәои, Стефеи Ливуки? Уи иларҳәаша
дара ажәа рзыԥшаауам. Убри аҟнытә, урҭ ашьҭалеит
ажәа хаала, еснагь лацәажәара. Маҭәа-ҩыҭәала лхыхра. Уигьы лыҵшәадахеит. Марҭа лҟазшьа бааԥсқәа
ишьҭылхыз, аҟазшьа бзиахь аиагара рылымшеит. Марҭа
лҭаацәа реиԥш, лырҵаҩцәагьы игәарҭеит лҟазшьақәа
шылԥсахыз. Урҭгьы ашьҭалеит Марҭа лҟазшьа бааԥсқәа
кажьны, лҟазшьа бзиақәа рышьақәыргылара, аха урҭгьы,
акгьы рылымшеит, изҿыз рықәымҿиеит. Стефеи Ливуки
арҵаҩцәа ашкол ахь ирыԥхьаны ирацәажәеит. Ирарҳәеит
аҵараҿы дыцәгьам, аха аԥыхьа еиԥш, дыҟам. Лҟазшьа
аԥсахра лҵарагьы ишаныԥшыз.
Арҵаҩцәеи лҭаацәеи еибырҳәеит Марҭа ахылаԥшра
ҷыда шылҭахыз, уи азы рхы иамеигӡарц шыруалу. Даргьы рхы иамеигӡакәа аус шрыдырулаша иалацәажәеит.
Марҭа алитов школ акәын дызҭаз. Аҩнгьы уи анҭыҵгьы дызлацәажәоз, алитов бызшәа акәын. Аурысшәеи
аԥсшәеи есааира лхашҭра иаҿын. Аурыс бызшәа ашкол аҿы сааҭқәак шрауазгьы, аԥсшәа аҵкьыс еиҳа
илхашҭхьан. Избанзар, лара даԥсыуамзи, аԥсышәала
акәымзи дышхәыцуаз, аԥсышәала акәымзи ҩнуҵҟала
дышцәажәоз.
Марҭа аҩны даныҟаз, ашкол данҭази, ашкол дҭалаанӡа
лаб иашьа Џыр илирҵаз аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа
ра-цәаны ҿырҳәала илдыруан. Еиҳарак илдыруан Џьота
Тапаӷәуа иажәеинраалақәа. Лыдҵақәа аныҟалҵалак,
ашьҭахь, Марҭа илдыруаз ажәеинраалақәа аԥҟҟаҳәа
ҿырҳәала ианылҳәалак ашьҭахь, аԥсыуак аԥсышәала
диацәажәазшәа, лгәалаҟазаара ҩышьҭыҵуан. Марҭа
аԥсуа жәеинраалақәа ҿырҳәала рҳәара адагьы, илдыруаз ажәеинраалақәа акакала дрызхәыцны, хҭҳәаак
лыҩуазшәа илыҩуан. Убарҭқәа рҟнытә акәхап, аурыс
бызшәа аҵкьыс, аԥсуа бызшәа еиҳа илхамшҭкәа лыхшыҩ
аҿы изаанхазгьы.
Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Марҭа аҵараҿы даарак дыӷәӷәамызт, ус бжьаратәи ҵаҩын. Ари лҭаацәеи лырҵаҩцәеи даара ргәы иалан. Иҵегь деиӷьны аҵара
лҵозар рҭахын, аха уаҳа иауамызт. Ишԥарурыз, нас Стефеи, Ливуки, лырҵаҩцәеи? Марҭа ибзианы аҵара лҵарц
азыҳәан, еиҳарак лара лакәын аҭакԥхықәра здыз. Лара
лгәы аҳәомызт аҵара.
Уахгьы-ҽынгьы лара лгәы иҭаз, дзызхәыцуаз: лаби,
ландуи, лаб иашьцәеи ракәын. Марҭа уахык дахьыҩаиаз,
аԥштәы змоу ԥхыӡ ссирк лбеит. Уи аԥхыӡ илбаз иааркьаҿны илҩырц лыӡбеит, аха ианбалыҩуеи? Ашьыжь,
даныҩагылалак, акы днацҳаны, ашкол ахь дцароуп. Ашкол аҿынтә данааилак, илымҩышази, аха аԥхыӡ ахашҭра
ақәуп, илхашҭуеит уаанӡа. Аԥхыӡ илбаз лхамыршҭыкәа
илҩырц азын, илхашҭаанӡа аҩра напы алыркыр акәын.
Ус злаҟалҵарызеи, ашкол ахь ицалатәызар? Лыԥхыӡ
илбаз лҩырц азыҳәан, ма ашкол ахь дымцар акәын. Ус
егьыҟалҵеит Марҭа. Аҽны ашкол ахь дымцаӡеит, схы сыхьуеит ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны.
– Бхы быхьуазар, баангылагәышьа, багьымгылан, иахьабиаз, – лҳәеит Стефа, ахыхьхәшә Марҭа ианыллыржә
ашьҭахь, Марҭагьы илҭахыз уи акәын. Аҽны ашкол
ахь дымцаӡеит. Ливук усура данца ашьҭахь, митәык
днымхакәа, Стефагьы аџьармыкьахь дцеит, Марҭа лымала аҩны данаанха, дҩагылан, астол днахатәаны,
акраамҭа аҩра даҿын. Далгеит Марҭа аҩра дызҿыз. Абар
илҩыз ахаҭа ахьыҟоу.
«Ааԥынрахуп. Аԥсны сыҟахуп. Саб иашьа Џыри сареи
ҳашцалац еиԥш, аԥсабарахь ныҟәара ҳәа ҳдәықәлахт.
Аԥсабара аԥшӡара ҳагәылашьшь, ҳагәылаланы ҳнеиуеит. Аԥштәы змоу ателевизор аекран еиԥш, иҟахуп
ҳанзқәыԥшуа аԥсабара зегьы. Ҳаԥхьа, ачықьра жьак
ҩылҟьахт. Акәара нырцә-аарцә зшьапы ыҵыҩрны
иқәҳаз ахьа, цыӷк ықәланы инеихуеит. Игәыҟаҵагаха
абна илыҩуеит, еиуеиԥышым аԥсаатә рашәаҳәабжь.
Ихьшәашәаӡа, ицаҳә-цаҳәуа, аҳауа цқьа ҳаимыгӡакәа
илбааҳдахуеит. Џыр исирбоит ақәыџьма ашьҭақәа.
– Арҭ ақәыџьма ашьҭақәа ракәзар, иаргьы ааигәа
џьара иҟазар акәхап, ҳабар ҳамфаӡои? – сҳәахт сара,
зышьҭа збаз, уи ақәыџьма сацәшәаны.
– Ақәыџьма ҳара заҟа ҳацәшәо аҵкьысгьы, иара
ҳара иҳацәшәоит. Ауаҩы ифҩы ихараны иакуеит. Ауаҩы
ааигәара днеиаанӡа, иара аҽаҵәахуеит, – иҳәеит Џыр.
«Ус акәзар, зышьҭақәа збаз ақәыџьма ҳара иҳацәшәаны
аҽаҵәахзаап» ҳәа сгәы иааҭысҳәааит сара. Ицаны иҟаз
сыԥсгьы ахәхәаҳәа, ишызбоз, иаасылалеит. Сара азеиԥш
тетрад аҿы ианысҵон аҵиаақәа рыхьӡқәа урҭ рбыӷьқәа ҿыхны иаазгон. Уи ашьҭахь Џыр дсазҵаауан, ари
иахьӡузеи? Ани иахьӡузеи ҳәа. Сара саҿамхаӡакәа исиҭоз
изҵаарақәа рҭакқәа ҟасҵахуан. Исхашҭқәаз, мамзаргьы
исзымдыруаз, рҭакқәа иара исеиҳәахуан. Аҩны санааи,
аҽны, сахьцаз-сахьааз, избаз-исаҳаз уҳәа зегьы саб иашьа Џыр исирҳәеит, нас ахҭҳәаа сирҩыхт. Ԥхыӡырла саб
иашьа ахҭҳәаа исирҩыз ахьтә, исхамшҭкәа исзаанхаз ауп
сара абраҟа ианысҵазгьы». Абас иҩны даалган, илҩыз
днахан астол инықәылҵеит. Ашьыжь, лани лабԥсеи ирбар ҳәа дшәан, илҩыз Марҭа лшәыра иҭаҵаны илҵәахит.
Нас днеины, ахыза дхәыҵаланы диеит. Стефеи Ливуки
анааи, илазҵааит:
– Марҭа, бгәабзиара шԥаҟоу?
– Сыбзиахеит, исыбаргәузеи? – лҳәеит лара. Аха
изаҳауаз ргәы ҟалартә, ахаара аҵаҵаны иҳәамызт,
аха иларҳәози, ирчҳаит, акгьы ахымҳәаакәа. Ус заҟа
рчҳахьази? Ирчҳап аригьы.
Адырҩаҽны Марҭа дышцац еиԥш, ашкол ахь дцеит.
Уи аҽны ирыман алитов литература. Акласс ахысраны иҟан «Сыԥсадгьыл» захьӡыз жәеинраалак. Арҵаҩы
иҵатәхәы жәытә анышьақәирӷәӷәа, адҵа ҿыц риҭаанӡа,
уи аҽазыҟаҵаразы, цқьа иреилзыркаашаз азҵаарақәа
рзықәиргылеит. Ҳәарас иаҭахузеи, арҵаҩы изҵаарақәа
ируакын, «Аԥсадгьыл закәузеи?» ҳәа азҵаара. Арҵаҩы
иҩаиргылаз аҵаҩы абас аҭак ҟаиҵеит:
– Аԥсадгьыл захьӡу, ҳара ҳахьынхо, ҳауацәеи ҳҭынхацәеи ахьынхо, ҳазхылҵыз ҳабдуцәеа ахьынхоз анышә
иахьамоу ауп.
– Иахьӡузеи, ус еиԥш иузыҟоу атәыла? – Арҵаҩы
азҵаара ықәиргылахт, ҵаҩык инацәа наиқәкны.
– Ус еиԥш исзыҟоу тәылоуп Литва.
– Иашоуп, – иҳәеит, арҵаҩы, аҵаҩцәа рҭакқәа иҟарҵаз
игәы иаахәаны. Нас ари азҵаара маҷк аҟара иааԥсахшәа
Марҭа длазҵааит:
– Бара быԥсадгьыл иахьӡузеи?
– Сара с-Ԥсадгьыл иахьӡуп Аԥсны.
– Иахьӡузеи? – Марҭа лырҵаҩы изҵаара аҭак иҟалҵаз
игәы ишаамыхәаз, ихаҿы ианыԥшуа деиҭаҵаахт.
– Сара стәыла иахьӡуп Аԥсны, – лҳәахт, Марҭа.
– Бҩыза ииҳәаз бмаҳаӡеи? – иҳәеит арҵаҩы ибжьы
маҷк аҟара иҩышьҭыхшәа.
– Исаҳаит…
– Нас бҩыза ииҳәаз баҳазар, бҩыза иеиԥш, аҭак
ҟабымҵоз. Бара Аԥсны аума бахьынхо? Мап, бара бынхоит Литва. Литвоуп быԥсадгьыл. Насгьы ибдыруазарц
быхәҭоуп, баԥсуазар аҵкьыс, блитовҭыԥҳазар еиҳа
ишыбзеиӷьу. Ус акәӡами? Ҽеишәа бхәыци? Иара Аԥсны
ҳәа бзышьҭоу, Қырҭтәыла акәӡами?
– Сара Аԥсны иахьа сынхаӡом, аха сара сыԥсадгьыл
Аԥсноуп, избанзар, сара Аԥсны сиит. Сыуацәеи сҭынхацәеи реиҳараҩык уоуп иахьынхо. Сара саԥысуоуп, –
лҳәеит Марҭа.
– Марҭа лтәыла Аԥсны акәзар, ара дзынхои, уахь
дымцо? – рҳәан, аҵаҩцәа реиҳараҩык рбыжьқәа неиларԥсеит. Марҭа лҩызцәа ас анырҳәа, лара иаалцәым
ӷахан, илҳәара лзымдыруа даақәхеит, лылаӷырӡқәагьы
лӡамҩа илахьыжжит.
– Шәаангыл, уи даҽазны илеилҳаркаап, уажәы ҳҵатәхәы иацаҳҵап, – иҳәан, арҵаҩы аҵатәхә ҿыц ахь диасит.
Абри амш аҽны инаркны Марҭа лҩызцәа дҵәылырхуа
иалагеит. «Аԥсны», «аԥсуа» ҳәа илхыччоз рацәаҩхеит.
Уи лара иахьлаҳауаз, лыԥсахы ԥнажәон, аха ишԥалурыз?
Атәым жәҩан аҵаҟа, атәым дгьыл зшьапы ықәгылаз
аԥсуа ӡӷаб хәыҷы Марҭа.
Арҵаҩы азҵаарақәа Марҭа илиҭаз рҭакқәа шыҟалҵаз даара игәы иалсит. Аҵатәхәы мҩаԥигеит, аха
ишԥамҩаԥигеи? Иара игәы излаанагоз ала, ас еиԥш
иқәымҿиаз ҵатәхәы ихаангьы имҩаԥимгацызт.
«Алитов дгьыл аҿы дынхоит. Лан длитов ҭыԥҳауп.
Хатәы бызшәас илымоу алитов бызшәоуп. Алитов дгьыл
дықәгылоуп, алитов жәҩан аҵаҟа. Алитов чыс дааӡеит,
арахь, сара слитов ҭыԥҳаӡам, саԥсуоуп ҳәа дықәгылоуп.
Ахьаԥарч зхылҵыз иахәлаџьаџьоит ҳәа абниҵәҟьа улыхәарҭам, нас адуқәа акреилызкаауа шԥаҟоу? Изланхо
ақырҭцәа изларчҳауазеи? Абас еиԥш иҟоу амилаҭ» ҳәа
дхәыцуан Марҭа лырҵаҩы.
Абри ахәыцра ихы иҭагьежьуа ишҭаз, ииулак уи
аҽнытәи аҵатәхәқәа дрылгеит. Ари арҵаҩы Марҭа лыкласс напхгаҩыс дыҟам, аҽакым, аха изымчҳаит, лабԥса
иҿы дцаны ажәақәак иеимҳәар. Уи аус ахьиуаз, шьыбжьон иԥсшьара иҽақәыршәаны днеин, иеиҳәеит, иахьа Марҭа акласс «шеилалгаз». Лара лымшала ишахәҭаз
еиԥш, иҵатәхәы шизымҩаԥымгаз. «Сара сыԥсадгьыл
Аԥсноуп, уи ауп исҭаху, Литва сара исыԥсадгьылӡам,
иагьысҭахӡам» ҳәа шылҳәаз. Ливук уи иеиҳәараны иҟази. Ахәылԥаз Ливук аҩны данааи, Стефа илеиҳәеит, Марҭа
лырҵаҩы иеиҳәаз. Стефа лыԥшәмеи лареи иааибырҳәан,
Марҭа лгәы нмырхакәа илылабжьарц рыӡбеит. Ахәылԥаз,
уаххьа анырфа ашьҭахь, ҭаацәала ианааилатәа, Ливук
даацәажәан, ус иҳәеит:
– Марҭа, сара бабԥса соуп, аха иббоит, бара быда сара
уаҩы дышсымам. Сыԥҳа хаҭа леиԥш бысҭахуп, патугьы
бықәсҵоит, изласылшо ала. Уи бара иеилыбкаауазар ҳәа
сыҟоуп.
– Ааи, еилыскаауеит, – аҭак ааҟалҵеит Марҭа.
– Ус акәзар, баб ихаҭа иеиԥш, пату сықәыбҵоит баргьы.
– Ус ауп.
– Ус акәзар, бысзымгәаан, абык иеиԥш, сахьбацәажәо
азы. Иахьа аус ахьызуаз, алитов литература шәызҭоз
бырҵаҩы дааин, ишакәымз дбыхцәажәеит. Уи сара сгәы
иаамыхәеит.
– Иҟасҵазеи, шәгәы иаамыхәартә еиԥш, – лҳәеит
Марҭа, Ливук иажәа далгаанӡа, иаалзымчҳакәа.
– Бара быԥсадгьыл Литвоуп. Абри бдыруазароуп.
Ҳара бани баби ҳлитовцәоуп. Ҳара ҳаԥсадгьыл баргьы
ибыԥсадгьылуп. Аԥсадгьыл захьӡу, ауаҩы иани иаби
ахьынхо алоуп изалаго, уи бымдыруеи?
– Ааи, издыруеит. Аԥсадгьыл захьӡу ани аби рыла иалагоит. Уара саб иаҵкьыс субозаргьы, сабҵәҟьа, нахьхьи
Аԥсны дыҟоуп. Сыуацәа, сҭынхацәа зегьы уа инхоит, уа
иит. Сара ара сынхоит, аха Аԥсны сара исыԥсадгьылуп
сҳәазар, иҟалои? Ииашаӡами сара исҳәаз? Сҩызцәа
џьоукгьы «аԥсуа», «аԥсуа» ҳәа исхыччоит. Избан, ус изсхыччо. Аԥсуаа алитовцәа раҵкьыс иеицәоума? – лҳәан,
илҭахӡамкәан лыбжьы ҩҭылцан даацәажәеит Марҭа.
– Баб бышԥаиацәажәои, ԥхашьарами ус ацәажәара,
– лҳәан, уаанӡа ҿымҭӡакәан иӡырҩуа итәаз Стефагьы
ацәажәара лҽаалалырхәт.
– Мамоу, уи азы сара сгәааӡом. Сара сызгәаауа,
бара бзоуп. Баб ҳкаижьт ҳәа еснагь исабҳәалон, аха уи
иашаӡам. Саб ҳкаимыжьӡеит. Саб ҳара ҳауп дказыжь. Бара
хаҵа бцаанӡагьы, ԥҳәыс дааимгаӡеит. Бара хаҵа банца,
ашьҭахь ауп, иара ԥҳәыс данааига, ҩыџьа аԥацәагьы
иаухьеит. Урҭ сара сашьцәа роуп. Сызҳар, икасыжьӡуам,
избалоит, – лҳәеит Марҭа. Ари ажәа ҳәаны, лхы аҩахаха
лымҭаӡакәан аҿаца аалҿыҵгеит. Илҿасыз лан лакәу,
лабԥса иакәу лзеилымкааӡеит Марҭа. Марҭа лыблахаҵ
ааилагьежьын, ҿыцха адашьма длықәҳаит. Стефа ахаангьы лыԥҳа лзы лнапы шьҭылымхыцызт, аха уажәы
ишьҭылхит. Илыхьыз лзымдырит. Илуз аалцәымӷахеит.
Стефа лхаҵеи лареи неин, Марҭа даашьҭырхын, днаганы адиван днықәдыриеит. Нас Стефа дыҩны днеин,
аҵәца азна аӡы аалган, Марҭа лқьышә инықәылкит,
аха Марҭа аӡы лымжәит. Марҭа аӡы анылымжә, Стефа аҵәца ахы лалырхан, лнаргәыҵа ианҭәаланы, лхылҿы инақәылҭәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, Марҭа лыԥсмаҷра
даалҵит. Стефеи Марҭеи рылаԥшқәа ааиқәшәеит.
Рҩыџьагьы инеимаҭәаны аҵәыуара иналагеит.
Ливук даара ицәымыӷхеит, Стефа иҟалҵаз, аха иара
иҟаиҵарызеи? Уи ауха уаҳа ажәак мҳәаӡакәа, дцаны диеит Ливук, «ани аԥҳаи еибыргәаазар, еинаалап», – иҳәан.
Аҵх агәҭа ааҩнашаанӡа, Стефа лыԥҳа длыдтәаланы лыгәшәымшәа лҳәон.
Аҵыхәтәаны Марҭа лылацәа нҭааит. Марҭа лылацәа
анынҭаа, Стефа хызак ааганы инлықәылҵан, ларгьы луадахь дцеит. Усҟан, Ливук дмыцәацызт. Ҭаацәала ацтәы
ирыллаз игәы иалан, зегьы иара ихы иахараитәуан Ливук. Стефа даныныҩнала, лгәы нирхар шиҭахымзгьы
рыцтәы ирымаз даламцәажәар изымчҳазт:
– Стефа, Марҭа былкьымсыр акәын, иҟабҵаз иашам,
– иҳәеит иара.
– Дунеи хаан сылкьысхьазма? Лара лгәацәыхьк сҳәахьазма? Снапқәа хҩаар акәымзи, уи санылкьысуаз, –
лҳәеит, Стефа лгәы ԥыжәжәо.
– Иҟалаз, ҟалеит. Уи шьҭа аарҳәышьа амам, аха
лыгәшәа ҳамҳәар, наӡаӡа даҳцәыӡӡар алшоит, – иҳәеит,
Ливук. Стефа лыԥшәма ииҳәаз шиашаз шылдыруазгьы,
уаҳа ажәакгьы ахылымҳәааит лара. Стефа ҿылымҭуашәа
аниба, иара иажәа инациҵеит:
– Иахьа суалафахәы сауит. Уаҵәы аашар, ԥсшьара
мшуп. Шиаулиаиҟа ҳцап Марҭадҳаманы,ҳалзыхәҳахәҭып,
ацирк ахь даагап, Шиаулиаитәи аҭыԥ ԥшӡарақәа лҳарбап,
ҳаргьы ҳагәқәа ааҳарҿыхап, – иҳәеит уи.
– Ибзиоуп, – лҳәеит, Стефа аарлаҳәа, лылаӷырӡқәа
лҿашы, лыԥсы ҩеины лыхәцә иҵагыланы, лыԥсы лызҭымкаауа. Уаҳа аӡәгьы ҿимҭит. Ицәазу иааԥшуазу здыруадаз, аха аҵх лашьцаӡа, ауада иҩнажьын шьҭыбжьы
ҳәа акгьы ҩныҩуамызт.
Убри ауха, егьи ауадаҿы дмыцәаӡәакәа, ахәыцра
даҿын Марҭа. Убри аҽны дзықәшәаз зегьы, лара лхы
иахаралтәуан. Уажәы, лара лтәала, зегьы иашан, лара
лыда. Зегьы рыԥсадгьыл рҭахуп, рыԥсадгьыл иадгылоит.
Сара сыԥсадгьыл зысҭахымхари, сыԥасадгьыл сзадымгылари. Сан дысҿасзаргьы, лыԥсадгьыл ахьӡ алоуп дызсҿас.
Зынӡак гәҷыхь ажәак лазымҳәацыз саб дызкалыжьыз
лыԥсадгьыл ахьӡ алоуп, исычҳалап макьана. Сани сабԥсеи
ирҳәо хасҵалап, сахьынӡахәыҷу. Знык иаасызҳар, Аԥсны-
ҟа сцартә еиԥш сааҟалар, ҭагылазаашьак шаасоулак, уахь
сцап. Уаагьы санԥса дыҟоуп, аха иамур, ма санду сылбап,
ма – саҳәшьаду. Срымбаӡаргьы, сыԥсадгьыл аҿы сыԥсып.
Ҩыџьа сашьцәа ыҟоуп. Схатәы ешьцәа, саб, санду, саб
иашьцәа. Ахәы сахьхалалоз, акәара сызҭалалоз, аккара
сахьыҵалалоз. Абарҭ зегьы гәхьааганы сыԥсуеит. Ианбазбои, урҭ. Шьыри, иааигәахондаз!.. Абас дышхәыцуаз,
ацәа дынҭанагалеит ашарԥазшәа.
Ахԥатәи ахы
Стефа лыԥшәмеи лареи иахьа ашьыжь шаанӡа игылеит. Шиаулиаиҟа заа ицарц рҭаххеит, аха Марҭа ацәа
дзалымҵит лхала, Стефеи Ливуки дрыцҳаршьан, ацәа
балҵ ҳәагьы ларымҳәеит. Лара дангыла, амра акыр
иҩеихьан. Марҭа лан лзы дгәааны дыҟан, аха дҟәыӷамзи,
илынлырԥшуамызт, лан дылԥҟазаргьы, дрыцҳалшьон.
Марҭа лан лгәы иалсшаз, машәыршәа ажәак лҿыҵшәар
ҳәа дшәаны дыԥсуан. Стефа Марҭа дгылазшәа анылба,
дааины, дгәыдылкылеит. Аҭамзаара шьҭалҵеит лыԥҳа
лҿаԥхьа.
Минуҭқәак Марҭа ҿылымҭӡеит. Стефа лыԥҳа даалԥырымҵӡуа длыдтәалан, нас Марҭа дааччашәа лун
лан даарыцҳалшьан, лыхәда лнапы аахылшьын, даагәыдылкылт. Стефагьы дааччан, лыԥҳа даагәыдылкылан,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.