Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 16

Süzlärneñ gomumi sanı 3505
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
дахьцоз налеиҳәан, дыллыбааны ақалақь дналалеит. Адәқьанқәа днарыҩнаҧшы-аарыҩнаҧшуа днеиуан. Ақалақь агәаҿы иҟақәаз адәқьанқәа зегьы гәаҭаны,
дышиашаз аџьармыкьахь ддәықәлеит. Аџьармыкьа
аҩнуҵаҟагьы, дналс-ҩалсны, дышиашаз, аҩныҟа дцеит.
Уи ауха акультуратә хан аҿы концерт бзиак цараны иҟан.
Иҧшәмеи ихәыҷқәеи иманы уахь дцарц ажәа риҭахьан,
аха иҧшәмагьы ихәыҷқәагьы имгеит. Иаргьы дымцеит.
Дахьынаиааиуазгьы, аҩны дахьааизгьы, уаҵәтәи аизара
акәын игәы иҭаз. «Иабасҭахыз абас еиҧш, иҟоу ацҭәы. Урҭ
зынӡакгьы азҵаара рҭахӡамызт. Сара саҧшәымоуп, араион зегьы снапы иануп. Сара исҳәо ауп иҟалараны иҟоу.
Сыпату схала иласырҟәит. Аиашаз, уи азын, агха ҕәҕәа
сыхьит. Аха рҽеишьа змам гха ыҟам, сыгха сырҽеип.
Ишахәҭоу еиҧш, аусура салагап. Зегьы ирыхәҭоу еилыскаап», ҳәа дышхәыцуаз, аҩны дааит. Аҩны дахьааиз,
Жәыргьыҭынтәи иҭынхак дааины дыҟан. Урҭ рыҩџьагьы
анааиқәшәа, рҽынеигәыджьыланы аҧсшәа ааибырҳәеит.
Ари асас иан лаҳәшьаҧа иакәын. қәрала ҩажәеи жәабаҟа
шықәса ихыҵуан. Иларион Ҭенгиз-иҧеи иареи, ҷыдала
бзиа иеибабон. Арҭ рыбзиабара бзианы илдыруан, Иларион Ҭенгиз-иҧа иҧшәма ҧҳәыс Жьужьуна. Уи лысас
ихәы аҟаҵара даҿын.
– Уабаҟаз, Иларион? Уусурахь аҭел сасын, аха уа
уҟамызт. Умаӡаныҟәгаҩ лахь аҭел сасын:
– Ақалақь сналалоит, ҳәа, - иҳәан, дцеит, лҳәеит.
– Ааи, усоуп, ақалақь агәаҿы иҟаз адәқьанқәа ангәасҭа, уаантәи аџьармыкьахь сцан, сналаҧш-аалаҧшит,
шьапыла сымныҟәеижьҭеи, акыр ҵуан, сахьныҟәаз,
сшьапқәагьы ааиҵысхит, сгәалаҟазаарагьы еиҕьхашәа
збеит. Ари ахымшк сшьара сықәӡамкәа акәын сшыҟаз. Уаҵә ашьыжь сгыланы, аусурахь сымнеиӡакәа
Шларҭаҧаҟа сцароуп. Ус дук сымоуп, аизара мҩаҧганы,
уи аизараҿы иӡбаны, аҭыҧ иқәысҵароуп, мамзар,
сусқәа маҷк аҟара акәзаргьы ицәгьахоит, – иҳәан Иларион Ҭенгиз-иҧа исас иахь дааҳәын, иацәажәара дналагеит. Дара рыуацәа, рҭынхацәа, рҩызцәа уҳәа зегьы
дрызҵаауан. Ииашоуп, Иларион Ҭенгиз-иҧа сабшала,
иаб иҩнахьы дцалон, аха рыуа, рҭынха абаибалоз? Џьара
чарак ма ҧсрак аҿы ианеиқәшәалоз акәымзар. Иларион Ҭенгиз-иҧа изҵаарақәа исас рҭакқәа ҟаиҵон. Ус
ишеицәажәоз, Жьужьуна рхәы лырхиеит. Атәара аамҭа
ҧыҭк шагыз, Иларион Ҭенгиз-иҧа аҭел аашьҭихын,
ҧшьҩык-хәҩык раҟара дырзасит, «асас дысҭоуп,
шәысзааи» ҳәа. Али-ҧси рыбжьара, аҭел дыззасыз зегьы ааин, аҧсшәақәа ааибыҳәаны, иааибадырит Иларион Ҭенгиз-иҧа исаси, игәылацәеи. Урҭ ус иеицәажәо
игылан. Аха митәык имыргылакәа, Жьужьуна астол
ахь иналыҧхьеит. Рнапқәа ӡык нарықәҭәаны, астол
илахатәан, ҵхагәҭанынӡа, акрыфо-акрыжәуа, ашәа ҳәо
итәан. Аҵхагәҭаны иҩагылан, агәылацәа рыҩныҟақәа
рахь ицеит. Иларион Ҭенгиз-иҧеи исаси неины, азал
аҿы инаиеит, рызхара иеицәажәарц азы. Ианыҩаиа,
хәбаҟа минуҭ иеицәажәон, нас ашьшьыҳәа дара рхаҭақәа
ирзымдырӡакәа, ацәа инҭанагалеит. Рцәажәабжьқәа, иахьиаз, азал иҩныҩуаз, ааиҧхьбеит. Дара рцәажәабжьқәа
рхаҭыҧан, уажәы, рыхәдақәа рышьҭыбжьқәа ракәын,
иахьиаз азал иҩныҩуаз. Ашьыжь заа изымгылеит Иларион Ҭенгиз-иҧеи исаси. Урҭ ракәым, Жьужьунагьы
ацәа далахеит. Уаанӡа, есышьыжь, дгыланы, ахәыҷқәа
рхәы ҟаҵаны, акрырҿаҵаны, ашкол ахь илышьҭуан. Иахьа ус изыҟамлеит. Лара дангыла, дара цахьан. Уи лара
даара лгәы иалсит. «Иҟасымҵацыз ҟасҵеит, ахәыҷқәа
ррыцҳара адагьы, заҟа иҧхашьара дуны, исыхьзеи?»
– ҳәа дахьынаиааиуаз, лгәы иаланы, лхала гәаныла
дцәажәон. Лара илхарагәышьеи, лысасцәа дшырхагьежьуаз, дызмыцәеит. Даныҩаиа, ацәа дынҭанагалан,
уаҳа дзалымҵит, асааҭ жәаба рҿынӡа. Гәыбҕанс илуҭози,
дмыцәаӡакәа, ацәа лыгырханы, арыжәтә зжәуаз, дыр-
хагьежьуа дырхагылан. Ашьыжь даныҩагыла, асааҭ
днахәаҧшын, жәаба ҟалахьан. Жьужьуна, иарзнак ала,
лҽааилалҳәан, лысас дҿыхар ҳәа дшәаны, ашьшьыҳәа
лшьацәкьарақәа дрықәгыланы Иларион Ҭенгиз-иҧа дахьиаз, днеины, днеихагылан:
– Иларион, угыл, ацәа уалахеит иахьа Шларҭаҧа уцаны, аизара мҩаҧугараны ушыҟоу, ухашҭма? – лҳәан
Жьужьуна лхаҵа иахь лыбжьы налыргеит. Усҟан, иара
дааҳәыцы-мыцын, дааҳәны днаиеит уаҳа ажәакгьы
мҳәаӡакәа. Ҳәарас иаҭахузеи, Иларион Ҭенгиз-иҧа, Жьужьуна лыбжьы имаҳакәа дыҟам, аха иҧхыӡу џьишьозар
акәхап, иаҳаз изеилымкааит. Убасҟан Иларион Ҭенгизиҧа имашьынаныҟәцаҩ дааины игәашә дылагылан,
имашьына ырҟаауа. Амашьына абжьы лара ианаалаҳа,
аиҭа Жьужьуна лхаҵа иахь лыбжьы налыргахт.
– Иларион, ацәа уалҵ, Шларҭаҧа аизара мҩаҧугараны
ушыҟоу угәаларшәа. «Шларҭаҧаа ааима?» – иҳәан
Иларион Ҭенгиз-иҧа ацәа данаалҵ, афырҳәа ииарҭа
дҩықәтәеит. Аҭӡамц икыдыз асааҭ днахәаҧшит, жәеиза
рышҟа аус ауеит, «сара жәаба рзы уа сыҟазар акәын» иҳәан, ажәжәаҳәа, иҽааилаҳәаны, иҿи инапи ааиӡәӡәан,
иаха изхыҵыз астол днадгылан, аҵәца азна ауатка
лҭеиҭәан, ижәит. Нас дыллыбааит. Афырҳәа, имашьына
днақәтәеит. Амашьынаныҟәцаҩ аҧсшәагьы иамҳәакәа
«уца» – иҳәеит. Амашьынаныҟәцаҩ имашьына аус ааирун, Шларҭаҧаҟа ихы рханы, иҿынеихеит.

а

тәи ахы

Шьрыф Каабан-иҧа Шларҭаҧаа реизара амҩаҧгараз,
аҽҳәара ааигәаны ишаиҭаз идыру усуп. Иара изеиҳәаз
рыда, егьырҭ ақәымшәарц ауп. Ҳәарас иаҭахузеи,
абжьыҭира ҟалар, иара идгылақәоз еиҳахон. Ус акәын
дышхәыцуаз Шьрыф Каабан-иҧа, аха иара дышхәыцуаз
иҟамлеит. Зхаан еизарак аҿы имнеицыз инадыркны,
хаҵеи ҧҳәыси зегьы кылсит. Гәыҧ-гәыҧла, ана-ара
иеидгыланы, ауаа цәажәон. Урҭ зегьы ирҳәоз акәы
акәын. «Ҳадгьыл раҳҭом» ҳәа. Ари Шьрыф Кабан-иҧа
иахьиаҳауаз, ихы ихнахуан. «Еизызгада абрысҟаҩык
ауаа. Убарҭ еизартә еиҧш, ирабжьазгада? Сара изасҳәоз,
«ишәзааигәақәоу, иҳадгылап ҳәа зыгәра жәгақәо,
шәзықәгәыҕқәо, ирашәҳәа ҳәа ауп, ишрасҳәаз. Ус иҟаны,
арҭ зегьы ҳара иҳадгылозар, бзиоуп, аха ус иҟамлар ҳәа
сшәоит, Заабеҭ Мачагәа-иҧеи, Иван Иван-иҧеи ракәзар,
ас ажәлар еизызгаз? Усҟан, ҳара ҳаҵахар алшоит. Аимакаиҿак ҟалашт. Ҳара ишаҳҭаху еиҧш, акәымкәа, ҳусқәа
еиҧхьытта иҳампыҵахар алшоит. Усҟан, зегь реиҳа
сара сакәхоит иарҧхашьо. Аҧхашьара мацара акәзар
иуадаҩым, аха ҕәҕәала сагьахьнархәуеит. Сгәыҕрақәа
исымақәоу зегьы, асапын шәах еиҧш, инсымпыҵаба ицоит. Сызлоу сыжәларгьы цәгьас сыркуеит. Аиҳабыра рахьгьы сымҩа акуеит», – абас дхәыцуан Шьрыф Каабан-иҧа.
«Асааҭ жәеиза ушьҭа иҟалоит, дабаҟоу, ҳара ҳаззыҧшыз,
актәи амаӡаныҟәгаҩ, Иларион Ҭенгиз-иҧа. Аус злоу
ажәлар роуп, урҭ ааины иҟоуп. Аизара ааҟаҵаны, ҳадгьыл
аӡәгьы излаиаҳамҭо ала, доусы ҳҿахәқәа ҳәаны, апротокол ҩны, ишьҭаҳҵоит. Нас: «Изҭаху, ииҭаху иҳәалааит,
ҳара ҳаӡлагара лагалааит. Ҳадгьыл аӡәгьы изымго иаанхоит» – рҳәон шамахамзар иеизаз ажәлар зегьы. Ус машьынак абжьы аагеит. Ажәлар уахь инаҧшызар,араиком
актәи амаӡаныҟәгаҩ Џьиқьиа Иларион Ҭенгиз-иҧа имашьына акәын зыбжьы газ. «Џьиқьиа дааит, Џьиқьиа
дааит», – ҳәа рбыжьқәа аадыргеит ажәлар игылаз. Ауаа
рацәа игылаз, иара имашьына, ашьшьыҳәа, инарылсын,
аколнхара «аправлениа» аҧхьа инеины, амардуан инадгылт. Ама-шьына иллыбааит Иларион Ҭенгиз-иҧеи, уи
има-шьынаныҟәцаҩи. Иларион Ҭенгиз-иҧа, имашьына
дшыллыбааз еиҧш, игылаз ажәлар дҩарылалан, ааигәасигәа игылақәаз зегьы, рнапқәа аарымхуа аҧсшәақәа
реиҳәеит. Амашьынаныҟәцаҩгьы иааигәа-сигәа игы-
лақәаз рнапқәа аарымихын, иқәлацәа, иидырқәоз ахьгылаз, днеины даарылагылеит.
– Сара сагханы сааит, аха баша сагымхеит. Сас дук
дысҭан. Сгәылацәагьы џьоукы саарыҧхьан, арыжәтә
ҳаҽӡааҳшьылеит. Асас идкылара аҧсуаа шәаҟара сара
иабаздыруеи? Абри еиҧш иҟоу адгьыл ҧшӡа, адгьыл
хазына, шәара изхашәоузгьы шәысасдкыларазы ауп.
Анцәа адгьылқәа шаны, амилаҭқәа ианриҭоз,аҧсуа дагхеит. Усҟан, анцәа даацәажәан:
– Аҧсуа, уара узагхеи? Адгьылқәа исымаз амилаҭқәа
зегьы, ишаны, ирысҭеит. Ушьҭа уара иусҭози – аниҳәа,
аҧсуа даацәажәан:
– Сара сзагхаз, асасцәа сҭан, азоуп. Рымала иааныжьны сзымааит.
Ус акәзар, сара схазы инсыжьыз, сыдгьыл хәыҷы
усҭоит, – иҳәан идгьыл ииҭеит. Анцәа иныс саргьы ус
шсыхь. Жәыргьыҭынтә асас дахь дысҭан. Иахантәарак,
ҳаидтәалан, иахьа, ишыжәбо еиҧш, сагханы сааит, иҳәеит аџықә -џықә ҳәа дыччо, Иларион Ҭенгиз-иҧа.
Ари ииҳәаз џьоукы арччеит, џьоукы архәыцит. «Саҭамзааит, аколнхара ахантәаҩы иҿы снеины аҧсшәа
иасҳәароуп», - иҳәан Заабеҭ Мачагәа-иҧа икабинет
ахь иҿынеихеит. Уа днеины, аҧсшәақәа анааибырҳәа,
ашьҭахь, «сагханы сааит, аха аҭамзаара ажәлар рҿаҧхьа
ишьҭасҵахьеит, уара уҿаҧхьагьы аҭамзаара шьҭасҵоит,
– иҳәан иҽыргәыбзыҕны ацәажәара даҿын Иларион
Ҭенгиз-иҧа. Заабеҭ Мачагәа-иҧа ҿымҭӡакәа дӡырҩуа
дгылан.
Аҧхьаҩ ухаҵкы, уара ухала еилукаап ҳәа сыҟоуп,
Иларион Ҭенгиз-иҧа Заабеҭ Мачагәа-иҧа иеиҳәоз. Убри
аҟнытә сара уаҳа акгьы уасҳәом.
– Иуҳәаша уара иудыруеит, сара уажәтәила уаҳа
уасҳәом, - иҳәеит Иларион Ҭенгиз-иҧа.
– Изымдыркәа, изуеи? – иҳәеит Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
Нас Иларион Ҭенгиз-иҧа дыниаҧысын, абарҵа
даақәгыланы, ажәлар днарылаҧшит»Анцәа ҳзырҳа
Шларҭаҧаа, абрысҟаҩык ҳаҟоуп ҳәа схаангьы сгәы иҭамшәацызт – ааигәахәит. Нас адәахьы иҟаз ажәлар рахь
ибжьы наиргеит:
– Ажәлар, шәхаҵкы сцааит, аизаразы иааиз, сшәыҳәоит, арахь, аклуб ахь, шәлеирц. Ари ибжьы заҳаз, зегьы, аклуб ахь рҿынархеит. Аҧхьа игыланы инеиуан,
аиҳабацәа. Урҭ ирышьҭанеиуан аиҵбацәа. Иаразнак ала
аклуб ааҩндырҭәааит. Уахь изымнеизгьы, адәахьы иаанхеит. «Ари ҳшамкуа, усгьы, ижәдыруан, ма адәахьы
иҟашәҵандаз аизара», – рҳәон уахь изымнеикәа иаанхақәаз. Аклуб иҩналақәаз, зегьы аҭыҧқәа рмоуӡеит.
Џьоукы аҭӡамцқәа рыбҕақәа адҵаны игылан. Џьоукы
аскамқәа рыбжьара рыбжьысырҭақәа рҿы ибжьагылан.
Аиҳабыра асценаҿы астол ргыланы иахатәан. Шьрыф
Каабан-иҧа аҧшәмацәа аҧшәмара рымхны,аҧшәымара
уа, дрылагьежьуа, ауаа дрылан. Заабеҭ Мачагәа-иҧа,
даацәажәаны, аизара ааиртит. Уи ажәлар ирылеиҳәеит,
аизара амҩаҧгаразы, аизара ахантәаҩы, далырхырц.
Ажәа имымхӡакәа, афырҳәа, аӡәы дҩагылан:
Иахьатәи ҳаизара амҩаҧгараз, хантәаҩыс дыҟазар
сҭахуп, Шьрыф Каабан-иҧа Мыхәтал, – иҳәан длатәеит.
Иазыҟаҵаны иҟақәаз, зегьы, ахьтәақәаз, «ииашоуп»,
«ииашоуп» уаҳа акандидатурагьы аҭахӡам – рҳәан
иааилалеит. Заабеҭ Мачагәа-иҧа «иазыразу шәнапы
шәҩах», иҳәаанӡа, иара днеины, иҭыҧ ааникылахьан.
Заабеҭ Мачагәа-иҧа, дыҧхашьан, уаҳа акандидатура
ықәимыргылаӡеит. Иқәиргыларгьы, ма ацҭәы ҟарҵон.
«Ажәлар сара салырхит, аизара амҩаҧгараз», - иҳәан
Шьрыф Каабан-иҧа,аизара иацҵаны иҿынеихеит.
Инапқәа неиҵыхны, астол илықәыргыланы, ажәлар
днарылаҧшын, ибжьы наиргеит.
– Аизара амҩаҧгаразы, далхтәуп, апротокол зҩыша
амаӡаныҟәгаҩ, – иҳәан ажәлар итәаз днарылаҧшит.
Уи ииҭахыз илаҧш данааҵашәа, «ажәа умоуп», - иҳәан
ихысга нацәа аӡәы инаиқәикит.
– Асҭанда дыҟазааит, ҳаизара амаӡаныҟәгаҩыс, иҳәеит уи.
– Асҭанда дыҟазар зҭаху шәнапқәа шәырҩахи,
– иҳәан ибжьы аарылаҩит, уаҳа даҽа кандидатурак
ықәмыргылаӡакәа
Ҧыҭҩык рнапқәа ирҩахеит. «Единогласно». Асҭанда
бааины, бҭыҧ аҿы бтәа, – иҳәеит иаразнак ала, анапышьҭыхра ҟамҵаӡакәа. Асҭанда уахь лҿыналхеит. Лтетрад
ҿыци, лҩыгеи кны.
– Иахьатәи ҳаизара ихы алаирхәит араиком актәи
амаӡаныҟәгаҩ аҩыза Иларион Ҭенгиз-иҧа Џьиқьиа
Уи ажәа имоуп шәизыӡырҩы, - иҳәан длатәеит Шьрыф
Каабан-иҧа Мыхәтал.
Иларион Ҭенгиз-иҧа Џьиқьиа дҩагылеит. Ажәлар
днарылаҧш-аарылаҧшит. Азнык азы, ииҳәара изымдыруа даақәхеит. Дџыџӡа ажәлар дрылаҧшуан. Зегьы
ирдырратәы иҟан, арыжәтә ыжәны дшыҟаз. «Ажәла
нҵәеит, ахьымӡҕ згама?» ҳәа игәы иааҭашәеит, иажәахә
«хылҧас» иахеиҵоз анигәаламшәа, ҧыҭк данхәыц ашьҭахь, иааигәалашәан, дынцәыҵаччан, иажәа дналагеит.
– Аҩызцәа, аҩыза Шьрыф Каабан-иҧа Мыхәтал, абри
аизараҿы сықәгыланы сцәажәарц азы, ажәа ансиҭоз,
Џьиқьиа ҳәа мҳәакәа, Џьыкырба ҳәа иҳәаргьы ҟалон, избанзар, хылҵшьҭрала сара Сџьыкырбоуп, Сџьиқьиаӡам.
Заабеҭ Мачагәа-иҧеи сареи, ҳара ҳаҩџьагьы иҳаҳахьан
Џьиқьиааи Џьыкрааи шеишьцәоу. Анкьа, арҭ аҩжәлак,
жәлак шакәыз ирыжәлаз, аха рыуа иарбану ҳаздыруамызт.
Сара исҳәон: «Уара у-Џьиқьиоуп – ҳәа. Иара иҳәон
«Уара у-Џьыкырбоуп» – ҳәа. Ҳаҩџьагьы ҳҟнытә, аӡәгьы
дхьаҵыр иҭахымызт, доусы, ҳтәы иаҳаргар ҳҭахын, аха
ҳаибыргәааӡомызт, ишакәхалак, ҳара ҳшеишьцәоу аадыруан. Уажәы ааигәа, Заабеҭ Мачагәа-иҧеи сареи
ҳсасцәаны саб ҳаиҭан. Усҟан Заабеҭ Мачагәа-иҧа саб
диазҵааит:
– Ҳара ҳшеишьцәоу, аадыруеит, анкьа жәлак акәын
иҳамаз Џьиқьиаагьы Џьыкраагьы, аха иҳаздыруамызт,
рыуа иарбаныз иҳамаз. Саб даччан, абас аҭак ҟаиҵеит:
Ҳарҭ аҩжәлак, анкьа жәлас иҳаман Џьыкырба ҳәа. Ус
анакәха, сара с-Џьыкырбоуп сҳәаргьы аӡәгьы шәгәы
иалсып ҳәа сгәы иаанагом, аха Џьыкырбагьы, Џьиқьиаагьы ҳзусҭцәада? Ҳара ҳқырҭцәоуп, иахьцалак,
ҳаишьцәоуп. Қырҭтәыла адгьыл ҳақәынхоит. Уажәы,
маҷӡак аҟара ҳаҧсҭазаара цәгьазаргьы, наҟ-наҟ, абзиара дуқәа ҳзыҧшуп, шәара хар шәымаӡам… Амшын
аҟәараҿы шәынхоит. Араҟа аҳауа бзиоуп, адгьыл бзиоуп, аха Қырҭтәыла зегьы ус иҟам, адгьылқәа ахьҽеим
рацәоуп. Ҳара ҳаиҳабыра, иӡбаны изларымоу ала, маҷмаҷ, ақырҭцәа ахыганы, Аҧсныҟа иааганы индырхоит. Уи шәара ишәзеиҕьымзар, ишәзеицәам. Шәара
шәызларыцҳау акы заҵәык ауп иҟоу. Уи шәбызшәаақырҭшәа ахьышәзымдыруа ауп. Ақырҭцәа ара иаан,
ишәыланхо иалагар, шәхәыҷқәа ақырҭшәа рҵар, рыбла хымтуеи,ицәгьоума, уи? Абарҭ зегьы зхысҳәаауа,
абра шәывараҿы, ақырҭцәа ааганы, рнырхара ҳалагеит. Ӡымццак нырцә, адгьыл хҟьаны, ираҳҭеит, аха уи
рыцәмаҷуп. Аарцә шәара шәылалгьы, абнара хҟьаны
ираҳҭарц ҳаплан иалоуп. Иахьатәи ҳаизараҿы, шәналацәажәаны, ишәҳәақәо, зегьы, апротокол инарбаны, агәылҩаа ааҳашәҭар, уаҳа акгьы аҭахӡам. Уи ус
шыҟашәҵо ала, сара агәра згоит. Уаҳа шәасҳәом, усгьы,
ажәа шәасыршьызшәа збоит, – иҳәан, ихы пату ақәҵаны
ашьшьыҳәа, днеины, иҭыҧ аҿы, днатәеит. Уи дшылатәаз
еиҧш, афырҳәа, дҩагылеит Шьрыф Каабан-иҧа.
– Иларион Ҭенгиз-иҧа ииҳәаз шәаҳаит ламысла
дцәажәеит. Ҳара ҳзы гәырҕьароуп, инасыҧуп, ас еиҧш,
иҟоу, ҳара ҳраион аҿы апартиа актәи маӡаныҟәгаҩыс
дахьҳамоу, ҷыдалагьы дахьҳашьоу акыр иаҧсоуп. Сара
сгәы иаанагоит азҵаарақәа ииҳәаз патула шәахцәажәаны,
мап ацәышәымкырц. Азҵаарақәа ишәҭар ҟалоит, аха
иабаҭаху азҵаарақәа иҭара. Азҵаарақәа аныҟарҵо,
ииҳәаз анырзеилымкаауа ауп. Араҟа, араиком актәи
амаӡаныҟәгаҩ, аҩыза Иларион Ҭангиз-иҧа ииҳәаз, ззеилымкааз ҳәа аӡәыр дыҟоума?
– Азҵаарақәа ҳамоуп, азҵаарақәа, – иҳәеит аӡәы инапы ҩышьҭыхны, дҩагылан.
– Азҵаарақәа аҭахӡам ҳамҳәахзи, иҳәеит Шьрыф
Каабан-иҧа, азҵаара ҟазҵаз иахь ихы наирхан, илацәақәа еимархәланы, диҿаҧшуа.
– Азҵаарақәа шҧаҳҭахым, – иҳәеит даҽаӡәгьы дахьтәаз дҩагылан.
– Азҵаарақәа, азҵаарақәа рҳәан аууыҳәа иааилалеит, аклуб аҩнуҵаҟа итәақәаз зегьы. Адәахьы алагьы
абыжьқәа гон: «Дызҿу арбан, Шьрыф Каабан-иҧа, иара
ииҳәо ала аизара мҩаҧысуа, егьи. Ус ишамуа идыруазааит!» Арҭ зегьы ибзианы иаҳауан, ирыҵаркуазгьы идыруан, Шьрыф Каабан-иҧа, аха имаҳаӡазшәа иара дызҿыз
даҿын.
– Аиеи, нас уара узҵаара аашьҭы, – аҭак ҳзыҟаҵозар
аабап, – иҳәан Шьрыф Каабан-иҧа, раҧхьа азҵаара
иаҳәаз инапы наиқәикын, ажәа ииҭеит.
– Уара ақалақь аҿы аус ууеит. Абра уааины, ҳаизара
имҩаҧумгар ада, ҧсыхәа амамкәа изыҟалеи?
– Уи сара исхароузеи, шәара шәоуми салызхыз? Ииашоуп, сара ақалақь аҿы аус зуеит, аха Шларҭа-ҧатәӡами?
– иҳәан аҭак ҟаиҵеит Шьрыф Кабан-иҧа.
– Уи бзиоуп, аха Шларҭаҧаа «аизара ҟалоит» ҳәа, уара
уоуп, ақыҭа ирылаланы иразҳәоз. Избан, уара урылаланы
израуҳәоз? Ҳара ҳқыҭа анапхгаҩцәа ирылымшаӡози, аизара ыҟоуп, шәнеи ҳәа аҳәара, – иҳәан даҽаӡәы дҵааит.
Ииҳәара иҿамшәеит Шьрыф Каабан-иҧа. Нас дгәааны,
ибжьы ҩҭицан, азҵаара ҟазҵаз дыниҵаҳәҳәеит:
– Уара узҿу цҭәа ҟаҵароуп, – иҳәеит ас азҵаара изҭаз
иахь ихы наирхан, Шьрыф Каабан-иҧа.
– Избан, изцтәы ҟаҵароу? – иҳәеит Иван Иван-иҧа
апрезидиум аҿы дахьтәаз.
– Адгьыл ҳамхны Ахал-Соҧелаа ирышәҭоит. Урҭ
ншәырхоит. Уи бзиоуп, дара рзы, аха Шларҭаҧаа рзы
ишҧаҟоу? Нахьхьынтә ихҵәаны иаақәаз, иахьынтәаауаз,
ахь ҳара ҳашәшьҭуама? Абас азҵаарақәа, иааҟәымҵӡакәа
рынашьҭра иаҿын Шларҭаҧаа.
Ус Заабеҭ Мачагәа-иҧа ибжьы ааиргеит:
– Шәаангыл уара. Араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ ииҳәаз
шәаҳаит. Ушьҭа азҵаарақәа шәаарҟәаҵны, шәахцәажәа.
Шәгәы иҭоу аахтны ишәҳәа. Азҵаарақәа ракәӡам апротокол ианырҵо. Апротокол ианырҵо аизараҿы, ажәлар
ирыӡбаз ауп. Шәиас ахцәажәарахь, – иҳәан дааҳәны
иҭыҧ аҿы длатәеит.
– Заабеҭ Мачагәа-иҧа ииҳәаз шәаҳаит ушьҭа ҳаиасып
ахцәажәарахь, – иҳәан иажәа аарҧшӡаны, ажәлар днарылаҧшын, ҿааиҭит Шьрыф Каабан-иҧа. Уи иазыҟаҵаны
имаз, иҩызак дахьтәаз, илаҧш наиқәшәеит. Иара дҩагыланы, дахцәажәарц иҭахын, аха игәаҕьра азхомызт
азы, дҳәыҧы-ӡыҧу дтәан.
Уажәы, Шьрыф Каабан-иҧа ажәа анииҭа. афырҳәа
дҩагылан, ҭынч, дмыццакӡакәа ацәажәара дналагеит:
– Аҩызцәа, Шларҭаҧаа, ҳара ҳаҧсуаауп, аҧсуа ишьа
цқьа ҳалоуп. Иахьатәи ҳаизара мҩаҧаагап, ииашоу
амҩагьы иқәаҳҵап, аҧсуаҵас. Аҧсуа уаха иифо ада
имамзаргьы, асас изы, ихәы ҵәахуп. Ианакәызаалак,
арыцҳара иақәшәаз, ицхраараз аҧсуа дыхиоуп. Уи игәыла
пату иқәыҵоит, акәымзар, диҧырхагаханы дҟамлаӡацт,
нас иахьа иҳахьзеи? Араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ дықәгыланы дцәажәеит ииҳәаз шәаҳаит. Нас уи иаҳаҭыр
аабаргьы ҟамлаӡои? Уи азы акгьы ҳахьуам. «Адгьыл
раҳҭоит» – ҳәа апротокол ҩны, агәылҩаа нраҳҭар, ирыманы ицоит. Уаҳа ус аҭахӡам, – иҳәан длатәеит Шьрыф
Каабан-иҧа иазыҟаҵаны имаз анхаҩы.
– Заҟа дҟәыҕоузеи, заҟа? – иҳәеит актәи амаӡаныҟәгаҩ
Иларион Ҭенгиз-иҧа дахьтәаз, Шьрыф Каабан-иҧа иахь
ихы наирхан.
– Ажәа сышәҭи, дад, – иҳәан инапы дҩахеит Даҭикәа
Шларҭаҧаа рысҭаршын. Уи иқәрагьы акрыҟан, иақәнагаз
адыррагьы иман. Уи иажәа абас дналагеит.
– Дадраа, адгьыл ахьышьҭоу, ишьҭоуп, еиҭаганы
џьаргьы гашьа амаӡам. Ааигәа-сигәа инхо, уи иабароуп.
Адгьыли ауаҩи еибааӡоит, рҳәоит. Уи азоуп, зегьы адгьыл бзиа изырбо. Уи азоуп, адгьыл еимакны, аҳәынҭ-
қаррақәагьы зеибашьуа, ажәларгьы изырыхьчо, иаҭаххар
рыхгьы зақәырҵо. Ӡымццак нырцә абнара ихышәҟьазгьы,
хышәымҟьараны ихышәҟьеит. Уи хышәымҟьаргьы АхалСоҧелаа, адгьыл ирымоу рызхон.
Уажәы аарцәҟа шәиасит. Усгьы ишәҭаху ҟашәҵоит. Уи
адгьыл шыжәгогьы агәра згоит, аха шәиашам. Ҳара ҳхала
иҳазшәыҭом уи адгьыл, мчыла иҳамшәымхуазар.
Даҭикәа иажәа алгаха имҭаӡакәа Иларион Ҭенгиз-иҧа
даацәажәан:
– Зҵаара ҧхашьарам, уабаанагеи, уара? Уара уасуанеи? Агха смыхьзар, уара уакәӡами Шларҭаҧаа ақыҭа
сҭаршынс иҟоу? Ус акәзар, адгьыл знапаҿы иҟоу аколнхара ахантәаҩы Заабеҭ Мачагәа-иҧа иоуп. Уара иуусу,
аналогқәеи азаиомқәеи, ашәи, акәтаҕьи уҳәа рылхра
ауп, убарҭ урҿыз.
– Уабаҟаз ҳәа ҳара Даҭикәа иаҳҳәаӡом. Уи дахьыҟаз,
ахәшәтәырҭаҿоуп. Уаҵәы, уахь ҳара ҳцаргьы ҟалоит, иҳәеит нхаҩы ҭаҳмадак дахьтәаз.
– Иқәра ыҟазар, дычмазаҩызар, иҩны дтәазааит, иҳәеит Иларион Ҭенгиз-иҧа.
Ажәа амхны дҩагылеит Иван Иван-иҧа.
– Ара ҳгыланы, доусы ргәаанагарақәа дырҳәо акәӡам.
Иҟашәҵа абжьыҭира. Изҭаху адгьыл иҭиааит, изҭаху
ажәлар нирхааит. Заабеҭ Мачагәа-иҧа, ибжьы ааиргеит:
- Шәхәыц, ажәлар. Ишәҭиз, – изышәҭаз итәуп. Шьрыф
Кабан-иҧа ибжьы ааиргеит:
- Бзиоуп, абжьыҭира ҟаҳҵап. Шәааи, адгьыл АхалСоҧелаа рыҭара иақәшаҳаҭу ҳнапқәа ҳарҩахап, - иҳәан,
инапы ҩышьҭихит Шьрыф Кабан-иҧа.
- Ахал-Соҧелаа адгьыл шҧараҳамҭои? – рҳәан
ҩажәаҩык раҟара рнапқәа ҩышьҭырхит.
- Ҳара баша еимаҳкуеит, Шларҭаҧаа реиҳараҩык,
иқәҳаргылаз азҵаара иахьадгылаз шәымбаӡои? - иҳәеит
Шьрыф Каабан-иҧа.
- Ус угәабзиарахааит Шларҭаҧаа реиҳраҩык рыдгьыл
Ахал-Соҧелаа рыҭара ишазыразу, - иҳәан, афырҳәа,
ҷкәынак дҩагылт. Шьрыф Каабан-иҧа ажәлар рахь ибжьы наиргеит:
- Ахал-Соҧелаа адгьыл рызҭарц зҭаху шәнапқәа
шәырҩахеи?
Раԥхьа знапқәа шьҭызхыз, рнапқәа ҩышьҭырхыхт.
Заабеҭ Мачагәа-иҧа знапқәа шьҭызхқәаз ааиҧхьаӡеит..
Урҭ зеижәҩык ыҟан. – Уажәы, Ахал-Соҧелаа адгьыл
рыҭара мап ацәызкуа, шәнапқәа шәырҩахеи?
Раҧхьа знапқәа шьҭызхыз азеижәҩык рыда, зегьы
рнапқәа ирҩахеит.
- Ҽеишәа иҧхьаӡа, Шьрыф Каабан-иҧа, - иҳәеит
Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
Иларион Ҭенгиз-иҧа Заабеҭ Мачагәа-иҧа ихы нидикылан:
- Шәара шәыҩџьагьы сара сшәызхоит, - иҳәеит.
- Иаҳхароузеи, убаашәит, рнапқәа ҳара ирышьҭҳарх
џьушьома?
- Иазыҟашәҵеит,- иҳәан Иларион Ҭенгиз-иҧа, аҧсшәа
рамҳәаӡакәа, дрызгәааны дынрылҵны иҿынеихеит.
- Иларион Ҭенгиз-иҧа, саргьы ақалақь ахь сцоит, иҳәан днаишьҭалеит Шьрыф Каабан-иҧа.
Аизара аҟнытә, ауаа ықәҵны, аҩныҟа ианцоз, уамашәа
ибаны, иалацәажәон иахьатәи реизара амҩаҧысшьа.
- Сара схәыҷым, ушьҭа, хынҩыжәа шықәса акыр
сырзааигәоуп, аха ас еиҧш, еизара сара схаан изымбацт.
Иабаҟалахьоу, аколнхара ахантәаҩи, нас иара, иҩызцәеи
егьырҭ ақыҭа анапхгаҩцәеи аламырхәӡакәа, аизара
аҽҳәара аҭаны, иахьымҩаҧыргахьоу? Иабаҟалахьоу,
раикомаа ақыҭа иалаланы, аизара аҽҳәара аҭаны, насгьы, ишәҳәаша-ижәуша ҳәа ҩызала, жьра-цәарала, ауаа
азыҟаҵаны, ажәлар иахьырҿадыргыло. Аха ажәлар
ыҟан, ажәлар ыҟоуп, иагьаанхоит ажәлар. Аиҳабыра
роуп ицо, иагьааиуа. Ажәлар аанхоит, иҟалоит: имшәо,
зҳәоу еиқәшәо, иҕәҕәоу, – ииааиуа ракәны, жәытә аахыс,
ус иҟан, иҟоуп, иагьыҟалоит. Сара даара сгәы иаахәеит
Шларҭаҧаа реидгылара, -ҳәа дцәажәон, рколнхара
ахантәаҩы, Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
- Абри адгьыл аҵыхәала, ахәышәтәырҭа сҭалаанӡа,
дсыҧхьаны слеиган, Иларион Ҭенгиз-иҧа исеиҳәеит,
«ари аус схы аласмырхәырц, уи сара ишысусым. Амала,
уи азҵаара аизараҿы иқәгыланы, ианыҟала, ма џьоукы
алацәажәоны ансаҳа, иара сидгыларц», - иҳәеит ақыҭа
асҭаршна Даҭикәа.
- Урҭ ламыс змоу уаам, ҳақәрымго жәбеит», - иҳәеит
аимҩалацәа руаӡәы.
- Ус иҟаларгьы уамашәа ибатәӡам. Аха ҳшәар,
ҳахәҭаӡам. Ҳҭахозар, ҳшықәҧо ҳҭахароуп, ҳара ҳҟамларгьы, ҳаҧсуара аанхароуп…
Абас иеицәажәо, аизара аҿынтә аҩныҟа ицон
Шларҭаҧаа.
Абри аамҭазы, ақалақь ахь ахы рханы, илеиуан раикомаа рмашьына, Иларион Ҭенгиз-иҧеи Шьрыф Каабаниҧеи зықәтәаз. Урҭгьы амҩа иахьықәыз,- еицәажәаран
изҿыз.
- Аиаша сарҳәеит Шларҭаҧаа, сара агха иҟасҵаз
ауп, схы иаахазгьы, зхаахаз, сара соуп араиокн актәи
амаӡаныҟәгаҩ избан, сара Шларҭаҧаа сызрыҳәарыз.
«Ари адгьыл зтәу, шәара шәакәӡам, Ахал-Соҧелаа роуп,
сҳәар иазымхози? Ааи, уи ҳәарада, иазхон. Аха патула, дара рхала, Ахал-Соҧелаа адгьыл рырҭап шысҳәоз,
уажәы, ирҳәаз убоит. Хара имгакәа, асҭаршнеи, аколнхара ахантәаҩи амхны, урҭ рцынхәрас ибзиақәоу
ықәыргылатәуп. Аҧсуаа рахьтә, сара макьана, еиҳа
исзааигәоу, зыгәра зго ҳәа иҟоу, уара уоуп Шьрыф
Каабан-иҧа. Абри уара уеиҧш, сиқәгәыҕуан, Заабеҭ
Мачагәа-иҧагьы. Аха дубоит уи иҽшыҟаиҵаз. Дсыманы, саб иҩны дганы, сгәылацәа идыртәаланы, изласылшоз ала, пату иқәсҵеит. Убас иаргьы дсыҧхьаны сиган,
ичеиџьыка сҿеиҵеит. Ҳаишьцәоуп, пату еиқәаҳҵап,
- сҳәеит, аха акгьы агәхьаа мкӡакәа дысҿагылеит. Сгәы
иҭоу зегьы, сара ҽнак ала исзыҟаҵом, аха урҭ аҩџьагьы
рмаҵурақәа ирымымхкәа исзааныжьуам. Иубап, урҭ
харак имгакәа изықәшәараны иҟоу. Уара угәра ганы
сымаӡақәа шуасҳәо, умбои? Абзиарақәа иузызуа убап.
- Иҭабуп, Иларион Ҭенгиз-иҧа. Сара исылшои, аха
исылшо ахәыҷы ала, гәык-ҧсык ала, сузыразуп. Исылшо
ахәыҷы ала суцхраауеит. Ари адгьыл аус аҿгьы, исылшоз
ҟасҵеит, аха дара, маӡала, сара сеиҳа аус руит. Сара сеиҳа
дара ирылшеит. Иҟасҵари, Иларион, Ҭенгиз-иҧа.
- Иулшоз шыҟауҵаз, сара избоит, уара иҟауҵазшәа
сыҧхьаӡоит, уаргьы ус иҧхьаӡа. Уи адгьыл Ахал-Соҧелаа
иртәуп, уи даарак хьаас иумкын.
- Ус анцәа иҟаиҵааит. Уажәы дара ртәы иагар, ҳара
ҳтәы иаҳаргоит» - ҳәа иалагоит даҽа џьарагьы, иҳавасуа
иалагоит. Уажәы, ҳара ҳтәы иагар, «усгьы ҳара ҳтәы
иазгом» ҳәа иаҳҿагылақәо маҷхоит. Абас, ишеицәажәоз,
ақалақь иналалеит.
- Шьрыф Каабан-иҧа, иахьатәила уара аусурахь уахьнеиуа егьыҟам. Уаргьы узиашоу, Шьрыф Каабан-иҧа
иҩныҟа дга. Уи уа дааныжьны, саргьы сыҩны снаганы, уца уаргьы уҩныҟа. Иахьатәила, ҳахҩыкгьы ҳхқәа
ҳрықәиҭуп, шларҭаҧаа ҳгәалаҟазаара бжьырхит, ҳаҧсқәа
ҳшьап, ҳгәалаҟазаара еиҕьхозар аабап, - иҳәеит Иларион
Ҭенгиз-иҧа, имашьына ныҟәцаҩ ихы наиқәкны.
Амашьынаныҟәцаҩ ажәак мҳәаӡакәа ихы ааирҵысын,
дышиашаз, Шьрыф Каабан-иҧа, ааигәа иауз иуада
ахьыҟаз, аҩн ду агәашә днадгылеит. «Шәымҩахыҵ,
аҩныҟа» - иҳәан Шьрыф Каабан-иҧа, дрыҳәеит Иларион Ҭенгиз-иҧеи, уи имашьынаныҟәцаҩи, аха дара ирымуит.
«Иҭабуп» - рҳәан инеиҧырҵын ицеит. Амашьынаныҟәцаҩ, Иларион Ҭенгиз-иҧагьы игәашә дныларгыланы иҩныҟа дцеит. Уи аҽны, арҭ рыхҩыкгьы, уаҳа,
усура имнеиӡеит. Иларион Ҭенгиз-иҧа аҩны дахьнеиз,
исас дтәаны акрыфара даҿын. Аҧшәма данааи, дҩеихаҵгылеит.
- Ихааны иуфааит, умгылан, ухаҵкы сцеит, - иҳәеит Иларион Ҭенгиз-иҧа. Иаргьы инапқәа ӡәӡәаны, дааин, исас
дылидтәалан, акрифеит, фырџьанқәакгьы еицы-ркит.
Иларион Ҭенгиз-иҧа раҧхьатәи ифырџьан ааникы-
лан, абас аныҳәаҿа иҳәеит: «Анцәа улҧха ҳаҭ, анцәа абзиара ҳзыҟаҵа. Иахьа Аҧсны ҳнапаҿы ишыҟоу еиҧш,
наӡаӡа иаанхааит. Аҧсуаа рақырҭуатәра имарианы
иҳалшааит. Аҧсуа идгьыл Анапанӡа илаӡоит, уи хара
имгакәа Қырҭтәыла иалало, дара аҧсуаа «ҳақырҭцәоуп»
ҳәа игыло, «шәаҧсуаауп» ҳәа разҳәо ирҿагыланы иреисуа, анцәа ҳазшаз иаҳирбааит. Сара даара сдыргәааит
шларҭаҧаа. Дара раҳаҭыр баны, патула, снапаҿы исзаагозар сгәахәын, Шларҭаҧаа рыбнара рыцқьаны
Ахал-Соҧелаа ирысҭарц исыӡбаз, хдырбгалеит. Зегьы
урҟәаҵ, Џьыкырба Заабеҭ Мачагәа-иҧа, иашьас иҟасҵаз,
убриҵәҟьа уихәарҭам. Уи деилазго Шларҭаҧаа урыск
дрымоуп, уи иоуп. Аха урҭ ирыхәҭоу рақәыршәара сара
исылшоит. Рмаҵурақәа рамхра ала исзааныжьуам. Урҭ
алахшақәа, ма иҭаскроуп, ма исшьыроуп, уаҳа изуӡуам».
- Урҭ рҭакра иалоухи, аха иушьыр, еиҳа еиҕьуп. Избанзар, уара зыӡбахә умоу апартиа иалоуп. Ишдыру еиҧш,
апартиа дшалоу дузҭакӡуам. Уи иус иахьынӡаурххо,
дшьызар, уҭынчуп, ус акәӡами?
- Иуҳәо иашоуп Џьумбер. Уи аус анагӡаразы, зыгәра уго
ауаҩы думазароуп, уи узыҟазҵаша, ма ухала иҟоуҵароуп.
Сара аус ахьызуа, удыруеит. Схала иҟасҵартә аамҭа сымам. Уи аҟаҵаразы, уишьҭашәарыцароуп, иушьырц
иуҭаху, имариа уҧшаароуп. Ишубалак, уиехсны ишьра
уи ҟәыҕарам, гаӡароуп. Ари аус ҟауҵозар, умццакӡакәа,
уаҩы изымдыруа иҟоуҵароуп. Уи азы, ишысҳәахьоу
еиҧш, аамҭа аҭахуп, уи аамҭа сара исымаӡам.
- Уаргьы саргьы ҳазлеиуацәеи Иларион?
- Ҳаишьцәами.
- Нас уаргьы саргьы ҳаишьцәазар, абри аус снапы
иануҵар, исзыҟамҵап ҳәа угәы иаанагома?
- Уароу?
- Ааи, сара.
- Уара абахҭа уцәнарҳәхьеит, уи иалаз алуххьеит,
умшәакәа, аиҭа аӡбахә уҳәахома?
- Изысымҳәои, уара узы, Иларион, иҟасымҵо ҳәа акыр
ыҟоума? Ирацәаны сҭаркхьеит, аха уара умшала абра
сыҟоуп. Усцәымшәан сара, исыдҵа абри аус. Даҧыраагап
абри аурыс. Аҧсуа макьана уааиҧеиҧш, ухы дахьаурхәо
ҟалозар убап. Имуӡозар, ушьҭантәи усны иааныжь.
- Иуҳәо иашоуп, Џьумбер, макьана аҧсуа даанҳажьып.
- Ус акәзар, сара уахаҵәҟьагьы сеиқәшәоуп. Уи аус
анагӡара сашьҭалоит. Аамҭа агара еиҕьымзар ҟалап.
- Мап Џьумбер, уара сара сҿы ушыҟоу агәылацәа зегьы
ирдыруеит. Ус, уара ишуҳәо еиҧш иҟалом. Уара аҩныҟа
уанцалак ашьҭахь, аамҭа акыр бжьысроуп. Сгәылацәа
уаҩы уимбаратәы, уахык уааир, дахьынхо сара издыруеит. Ҳаицны ҳнеиуеит, дмарианы даҳҧыхьашәар, уи ауха
иаҳҭаху ҟаҵаны ҳаауеит. Ус даҳҧыхьамшәар, дахьынхо
удыруеит, умццакӡакәа, ҭынч уишьҭашәарыцалоит…
- Аҩны ицынхода?
- Иҧшәмеи иареи рымацара роуп иҩны иҟоу. Гәыла
аигәагьы димаӡам. Гәылацәас имоу, ҩыџьа аҭакәажәцәеи
саби хәыҷыки роуп. Урҭ аҭакәажәцәа руаӡәы лҧа, Иван
Иван-иҧа имаҳә иан лоуп. Имаҳәгьы иҧҳагьы Ростов
аҵара иҭоуп. Сыҧсымзар, урҭ сынтәа рҵара иалгоит.
- Ус акәзар, ирластәуп, ари аус. Дара рҵарақәа
ирылгаанӡа, аус анагӡара еиҳа имариахоит, рҵара иалганы, ианааилак, аҵкьыс.
- Уи иашоуп, уара ишуҳәаз еиҧш, ирццактәуп ари
аус. Аха ус егьа иҟазаргьы мызқәак бжьысроуп. Ус еиҳа
еиҕьуп.
- Ишуҭаху.
– Ҳус ҳаӡбеит.
- Иҳаӡбеит анцәа ахьӡара ҳаиҭааит! – Арҭ рыҩџьагьы
акраамҭа еидтәаланы иеицәажәо, рқьафқәа ҟарҵеит.
Нас Џьумбер аҩныҟа ицара аамҭа анааи, дҩагылеит. Макьана ара дыҟазарц, ҧыҭраамҭак иҧсы ишьарц, Иларион Ҭенгиз-иҧа диҳәеит, аха Џьумбер имуит. Иларион
Ҭенгиз-иҧа идыруан. Џьумбер ииҳәаз наимыгӡар шимуаз. Убри аҟнытә даангыларц, уаҳа мыҩтәык имеимкӡеит.
Имашьынаныҟәцҩ аҭел дизасын, дааигеит.
- Иахьатәила аҧсшьара усҭан. Аха абри ахаҵа сашьа
иоуп. Аҟәа дҩаганы, акы дақәыртәаны, иҩныҟа ддәықәуҵароуп, нас иануҭаху уаусыжьуеит,- иҳәан адҵа
ииҭеит.
- Ибзиоуп, Иларион Ҭенгиз-иҧа, - иҳәан асас Аҟәа
диган, изиашаз Жәыргьыҭ ицоз автобус дҩақәиртәан,
иара дгьыжьны дааит. Иларион Ҭенгиз-иҧа, Џьумбер
иҩныҟа дандәықәиҵа ашьҭахь, ихы нықәиҵеит. Ус
ихы шықәыз аалашьцеит. Иижәыз акыр ианихыҧсаа,
дахьиаз дхәыцуан. Уи дзызхәыцуаз Џьумбер иакәын.
«Џьумбер аакласск данрылга, уаҳа ашкол дҭамлеит.
Аҕьычра далагеит. Аҕьычразы ҩышықәса дҭакын. Иларион Ҭенгиз-иҧа дҿихит. Ашьҭахь, рҵаҩыс Аҧсныҟа
даарышьҭит. Аҵаҩцәа аҷкәынцәа рыпҟареи, аҭыҧҳацәа
алаф бааҧсқәа раҳәареи рзы, акырынтә дырҧҟахьан
аҟнытә, «ирҵаҩра» ааныжьны дықәҵит. Уи нахыс,
аҕьычрақәеи ақәыларақәеи рзы хәынтә-фынтә раҟара
дҭаркхьан. Аҵыхәтәан дҭакын ауаҩы ишьразы, аха акгьы ихараӡамшәа дҿихт, Иларион Ҭенгиз-иҧа. Уи азоуп,
уажәы, шьауҩыс дызидгылаз. Џьумбер ииҳәаз шынеигӡо
здыруеит, аха саргьы ус иаансмыжьроуп, исылшо ахәыҷы
ҟасҵароуп, сызлыҵыз ақырҭуа жәлар сырҧхашьом» ҳәа
дхәыцуан, Иларион Ҭенгиз-иҧа. Уи ашьыжь даныҩагыла,
акы днацҳаны, фырџьанқәак аанкыланы, усура дцеит.
Икабинет ашә аартны, дшыныҩнашылаз еиҧш, Қарҭҟа
аҭел дасит, ақыҭанхамҩа аминистр ихьӡ ала.
Уи иҿы акы аанмыжькәа, акгьы мӡакәа иҳәеит. Иацтәи
реизара атәы. Уи аҭакс аминистр иҳәеит: «Уара аҧсуаа
рҿы аус узымуазар, арзаҳал ҩны уқәҵ, сара уамсхыр
аҵкьыс. Урҭ ирҳәо ҟауҵарц аума уа узыҟоу. Иабаҭахыз
урҭ разҵаара. Ус иахәҭоуп ҳәа ануҧхьаӡа, уразымҵаакәа
иҟоуҵандаз, уара ушаҧшәымоу удырроуп, аҩыза, Иларион Ҭенгиз-иҧа». Қырҭтәыла ақыҭанхамҩа аминистри
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
  • Büleklär
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3616
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1944
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1900
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1960
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3601
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3561
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3536
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1919
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1837
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3531
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1792
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3534
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1927
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3529
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1942
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2029
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1764
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3469
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1874
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3534
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1817
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3505
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3589
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3513
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1846
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3596
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2039
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3462
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2017
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3535
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1917
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3504
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1870
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3559
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1937
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3589
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1892
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3502
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1894
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1881
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3579
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1970
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3591
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1902
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1863
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3527
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1924
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3591
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1994
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3523
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1937
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1923
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3533
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1780
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3455
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1920
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1994
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3455
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2056
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3480
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1999
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3545
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2061
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3528
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1968
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1833