LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
Süzlärneñ gomumi sanı 3534
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1817
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
схы иархәаны, сара стәахьы ажәлар сзиагар, сара сиааиуеит ҳәа дхәыцуан, Шьрыф Каабан-иҧа, амҩа даныланы дахьҩеиуаз. Шьрыф Каабан-иҧа данца ашьҭахьгьы
Заабеҭ Мачагәа-иҧеи, Иван Иван-иҧеи
акраамҭа
иеидтәаланы иеицәажәон. Урҭ ҟәыҕарала Шьрыф
Каабан-иҧа иеицәамызт. Дара ибзианы ирдыруан, иара
иусушьа аметод ахы ахьцоз, иахьаауаз, иара дшырдыруаз еиҧш, ирдыруан, изланхоз рыжәлар рҟазшьақәагьы.
Дара ирыдгылоз, шеиҳаз мҩашьо агәра ргон. Убри
аҟнытә ауп, иара ииҳәалак, дара мап шацәыркуазгьы –
«Кәыдры зырмақаруа Амтҟьал ауп» ҳәа, Џьиқьиа Иларион Ҭенгиз-иҧа ииҳәақәо зегьы изырҳәо абри иоуп. Ари
дахьаабақәо дыҟаӡам, даара ишәарҭоу уаҩуп. Уи иҿынтә,
агәҽанызаара, еснагь иҳамазароуп, - иҳәеит Заабеҭ
Мачагәа-иҧа.
– Иуҳәаз иашоуп, ақыҭа ҳара ҳрылаларгьы акы
ахиҳәаауеит. Уи аҵкьыс, хымш заҵәык иҳачҳап. Ажәлар
иара еизигааит, аизара иара имҩаҧигааит, - иҳәан дцарц
дҩагылеит, Иван Иван-иҧа.
Заабеҭ Мачагәа-иҧа дҩагылан, Иван Иван-иҧа инапы ааимихит.
– Абзиараз, – иҳәан Иван Иван-иҧа ашә аартны дындәылҵит. Уи ашьҭахь, акраамҭа дхәыцуа дтәан, Заабеҭ
Мачагәа-иҧа. Уажәы, уи ихәыцуан: «Џьиқьиа Иларион Ҭенгиз-иҧа, иҩны сганы, ачара сзуны, иҭаацәеи
игәылацәеи сдырдырны сааигеит, иашьас сҟаиҵеит.
Амала, Џьыкраа Џьиқьиаауп, – иҳәеит. Иаби иареи
ражәа еиқәымшәеит. Иаб, «Џьиқьиаа, Џьыкырбақәоуп,
ҳара ақырҭцәа ҳажәла ҳхырхит», – иҳәеит. Ус акә,
егьыс акә, сара слымҳа инҭымшьӡакәа, Шьрыф Каабаниҧа иеиҳәеит. Уи еиҳа иеиҳәараны дзыҟалеи? Ҳәарас
иаҭахузеи, сара сыгәра игом. Сара саҵкьыс, Шьрыф
Каабан-иҧа еиҳа игәра игоит. Абри иаҵоузеи маӡас?
Ҳәарас иаҭахузеи, ари азҵаара, сара сҿы ицәыригар, мап
скуан, аха уи иара иабеидыруеи? Заабеҭ Мачагәа-иҧа усгьы «дсашьоуп», сара дсыдгылоит. Ари дхысхып ҳәа игәы
иҭазар, усҟан, баша игәы дажьеит Иларион Ҭенгиз-иҧа.
уи иакәым анхша-быхша сашьаҵәҟьа иакәзаргьы, анцәа
иныс, ҳныхақәа рныс, сызидымгыло. Уи еиликаазар
акәхап, ма сара дсазымҵаар, иуамызт. Ҳәарас иаҭахузеи,
уи ус ауп. Заабеҭ Мачагәа-иҧа ибон аус ҧылҳаҭ
дшалаҳаз, аха уи алҵшьас иаиҭоз издыруамызт. «Улбааргьы усшьуеит, улымбааргьы усшьуеит» – ҳәа ззырҳәоз
иакәын, уажәы, иара дзеиҧшыз. Адгьыл Ахал-Соҧелаа
рыҭаразы идыргалаз, инапы аниҵар, иара иколнхацәа
рырахәи рыҧсасеи гарҭа рымамкәа иаанхон, ашәҟәы
инапы анимҵар, Иларион Ҭенгиз-иҧа дизгәаауан. Уи
диргәаар, ииҭаху дақәиршәон. Абри азы акәын, Заабеҭ
Мачагәа-иҧа абрысҟаҟара, абри аус хәыцырҭас изимаз.
Иара дахьтәаз дҩагылан, ашә цаҧхала иааркны, аҩныҟа
иҿынеихеит.
Шьрыф Каабан-иҧа, Заабеҭ Мачагәа-иҧеи, Иван
Иван-иҧеи реицәажәара иааҟәыҵны, ирҭахы-ирҭахым,
ианынеидыҵ, ашьҭахь дышиашаз, дызгашаз машьынак
дақәшәан ақалақь ахь дцеит. Уи ақыҭантәи дыҟаны дшааизгьы, араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҽиирбар акәын.
Уи инаҵганы, игәалақәагьы наиеиҳәон азы, дышиашаз
араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ икабинет ашә днылагылт.
– Зны уаангыл, аӡә дыҟоуп. Уи уахь дыҩналеижьҭеи
акыргьы ааҵуеит. Ушьҭа ирласны даадәылҵуеит,
нас улеип, – лҳәеит амаӡаныҟәгаҩ. Амаӡаныҟәгаҩ ас
ахьылҳәаз, акгьы ахимҳәааит Шьрыф Каабан-иҧа, аха
игәы иалсит. «Ас ззылҳәашаз, сара сакәмызт, ма илзымдыруа сара сакәындаз. Араиком сахыҧхьаӡалоуп,
актәи амаӡаныҟәгаҩ сиҩыза гәакьоуп, ихы еиҧш пату
сықәиҵоит. Арҭ зегьы лара ибзианы илдыруеит, аха макьана синструкторми, даара ҳаҭырк сымамшәа сылбозар
акәхап. Иагьа аамҭа царгьы, ушьҭа иааигәоуп аиҳабырахь
снеира, усҟан, ус лҳәозар збап. Ус лҿыналхар, ҕәҕәала
лахьырхәра сылымшар, саб сиҧам» ҳәа дышхәыцуаз,
уа иҩназ, актәи амаӡаныҟәгаҩ аҧсшәа наиаҳәаны,
даадәылҵит. Уи Шьрыф Каабан-иҧа ибзианы иидыруаз аӡәы иакәын. Дара рнапқәа ааимырхит ауп, уаҳа
ажәак рзеибымҳәакәа, инеиҧырҵит. Избанзар, Иларион
Ҭенгиз-иҧа, Шьрыф Каабан-иҧа дшынеиҿаҧшыз еиҧш
ҿааиҭит:
– Уҩнал, уҩнал, ирласны, Шьрыф Каабан-иҧа. Иуҳәо
саҳандаз ҳәа сыҟоуп. Иахьак иуҳәо сазыҧшны стәоуп, иҳәеит Иларион Ҭенгиз-иҧа.
– Аиеи, слеиуеит, – иҳәан идәылҵны ицоз даарак
хшыҩзышьҭра имҭаӡакәа Иларион Ҭенгиз-иҧа иахь
иҿынеихеит, Шьрыф Каабан-иҧа.
Урҭ шынеидгылаз еиҧш, рнапқәа ааимырхын инеины, рыҩџьагьы неидтәалеит, наҟ-ааҟ еиҿаҧшуа, раҧхьа
ицәажәарыдашь ҳәа ихәыцуа. Шьрыф Каабан-иҧа
игәаҕьны анҿимҭӡа, Иларион Ҭенгиз-иҧа ҿааиҭит:
– Нас уахьыҟаз, иҟоузеи? Бзиароу, ма цәгьароу?
Уҟазшьақәа акалашәақәа избоит. Угәы иаахәо акы
умаҳазаргьы, уи даарак хьаас иҟоумҵан, уи адгьыл ҳара
иаҳзымгар ҳәа умшәан. Уи адгьыл ҳара иаҳтәуп, Шьрыф
Каабан-иҧа.
– Сара сызцаз сусқәа реиҿкаара, даарак ибзиаҵәҟьам,
аха дааракгьы ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам. Уи аурыс
уа дыҟамзар акәын, аха изуураны иҟоузеи? Ушьҭа
хҧа-ҧшьба шықәса ҵуеит Шларҭаҧа ақыҭантәи
аиҵбыраӡатәи апартиатә организациа маӡаныҟәгаҩыс
дамеижьҭеи. Заабеҭ Мачагәа-иҧагьы даарак «шьыри»
ззуҳәо уаҩым, аха уи дабоугои? Ара диит, ара дыҟоуп,
Иларион Ҭенгиз-иҧа, уара иуцәызӡо ҳәа зынӡак акгьы
сымам. Урҭ рыҩџьагьы адгьыл Ахал-Соҧелаа рыҭара
иазыразым. Аха уи азы сара процент заҵәык иадымхаргьы, шәарак ҳәа сымам. Избанзар, дара рцәажәашьақәа
анызба, иааныскылеит урҭ рыҩџьагьы. Ақыҭа еизара
ҟаҳҵароуп, – сҳәеит. Ақыҭа еизарахь ауаа раагара сара
схы иадысҵеит, насгьы сыбжьы акыр иҩышьҭыхны
ирасҳәеит, аизараҿы дара ықәгыланы ицәажәарц ҳара
иҳадгыланы.
– Аизара амҩаҧгара аҭахӡамызт, уамхаццакцәеит, Иларион Ҭенгиз-иҧа,
– Аизара ахьымҩаҧааго иашоуп. Избанзар, дара
ирҳәеит:
– «Ара ҳара ҳауп иҟоу, аӡәгьы имырҳаӡакәа, аус ҟаҳҵап,
уи адгьыл зтәу Шларҭаҧаа ирзынхартә еиҧш» ҳәа. Урҭ ус
анырҳәа, ауп, сара аизара мҩаҧаагарц анысыӡба. Ари аус,
сара хшыҩ дула сазнеит. Ауаа реизгара схы иадысҵеит.
Сҳәатәы хазҵоз мацара роуп, аизарахь иаасыҧхьа. Ус
акәымкәа, ауаа дара иеидыркылозар, сара ишыҟасҵаз
еиҧш, даргьы иҟарҵон. Рҳәатәы хазҵоз мацара еидыркылон. Усҟан ҳара ҳус, еиҳа ицәгьахар алшон. Ажәак
ала, иаҳҳәозар, иҟало аабап. Ус иагьа иҟазаргьы, ари аус
ӡбахап ҳәа сара сгәы иаанагоит, ҳара ишаҳҭаху еиҧш,
аха сара амцхә аџьабаа ахьҳдырбо ауп, сгәы сзырхьуа.
– Уи хьаас иумкын Шьрыф Каабан-иҧа, уара ишуҳәаз
еиҧш, уи аус мҩаҧга. Иаур бзиоуп, иамургьы уадаҩӡам,
ианауша аамҭа ҟалап. Амала, усҟан, даҽа формак ала
ҳазнеироуп, ҳаплан иҳамоу анагӡаразы аформақәа
рацәаны иамоуп.
– Аиеи, нас Иларион Ҭенгиз-иҧа,уара ишуҳәаз ауп,
акы ада ззымдыруа иоуп арыцҳа. Ҳара ҳрыцҳаны анцәа
иумҳәан. Сара стәы сҳәом, аха уара иузымдыруа, арбан?
Анс еиҧш иҟоу, аусқәа ракәым, еиҳау аус дуқәа егьа еилургахьеит, егьа рҭыҧқәа ирықәуҵахьеит.
– Заабеҭ Мачагәа-иҧа иоуп акәымзар, Иван Иваниҧа итәы мариоуп. Уара иуаҳахьоу сыздыруам, аха
Џьыкырба ҳәа ажәла ыҟаӡам, ҳара ҳ-Қырҭтәыла ахьынӡа-наӡааӡо, иҟоу Џьиқьиа ауп. Заабеҭ Мачагәа-иҧа
д-Џьиқьиоуп, с-Џьыкырбоуп ҳәа баша иҳәоит акәымзар.
Уи иаргьы саргьы иеимаҳкхьеит. Сара у-Џьиқьиоуп
ҳәа аниасҳәа, сара с-Џьыкырбоуп, - иҳәеит. Сара исзеилкаауам дақырҭуазар зиҭахым. Миллионла ирацәоу
ажәлар дырхаҭарнакзар, еиҳа еиҕьӡами лаҧшаҵәык
иҟоу ажәлар маҷ дырхаҭарнакзар, аҵкьыс? Уара ухәыци,
Шьрыф Каабан-иҧа. Угәы ишҧаанагои?
– Сара сгәы ишҧаанагахуеи, амилаҭ ду урхаҭарнакзар,
еиҳа еиҕьымкәа, лаҧшаҵәык иҟоу ажәлар маҷ урхаҭарнакзар аасҭа. Амилаҭ маҷ, амилаҭ ду илалаӡ ицоит.
Хара имгакәа амилаҭ ду аанхоит наӡаӡа, абри дыртәуп.
Иззымдырыз изы, итрагедиахар алшоит. Нас абри зырзымдыруеи, џьоукы?
– Умбои, ииашаны ушхәыцуа, ҳаҭыр зқәу Шьрыф
Каабан-иҧа. Абри уара ушхәыцуа еиҧш, ихәыцуазар,
аҧсуаа зегьы, заҟа ибзиази Қырҭтәылазы, иара убас,
Аҧснази. Аиаша ҳҳәозар, аҧсуаа ҳәа аӡәыр ыҟоу
џьушьома, шәара шәақырҭцәоуп. Уи аилкааразы, хара
ацара аҭахӡам, ҧшралагьы ҳшеиҧшу жәымбаӡои?,
аҧсуааи ақырҭқәеи? Ас ажәала мацара уеилыркаара
уадаҩуп, ас иҟоу азҵаара аилкааразы, уара аҟәыҕара
дуи, аҵара дуи шумоугьы. Зны иузаазгоит ашәҟәы ссир,
зда ыҟам ашәҟәы – Ингороҟәа ишәҟәы. Уи уаҧхьар ауп,
цқьа ианеилукаауа, аҧсуа дышқырҭуоу.
– Уи ашәҟәы самыҧхьацт, аха аӡбахә саҳахьеит.
Сара уи ашәҟәы аӡбахә зласаҳахьоу ала, ҳара аҧсуаа
дҳадгыланы, ҳҭахны ауп, ишииҩуа ҳара ҳшақырҭцәоу
иашаны иҳаиҳәоит. Ҳара ҳхы пату ҳзақәҵом акәымзар.
– Ииашоуп, ииашоуп, уи ашәҟәы уара уамыҧхьацт,
аха аӡбахә уазҳәаз ахара ихәыцуа акыр еилызкаауа аӡә
иоуп. Хымҧада уи ашәҟәы сара иузысыҧшаауеит.
– Уи ашәҟәы соур, егьа ус сымазаргьы, сусқәа зегьы
зымҩакы инышьҭаҵаны, иара саҧхьоит.
– Уи ашәҟәы аҧхьара, усҵәҟьа, аинтерес умазар, сара
иузаазгоит. Уи аҧхьаразы, мчыбжьык аҟарагьы уаусыжьуеит. Шьрыф Каабан-иҧа шьҭа укабинет ахь уца.
Акы ныҟаҵа, саргьы усқәак сымоуп сынрыхәаҧшшәа
ҟасҵап. Уара угәы иҭоу уеизара ишахәҭоу еиҧш,
қәнагала имҩаҧга, иануҭаху сара уоусыжьуеит. Закәанла
ишахәҭоу, аколнхара «аправлениа» азыразны иҳарҭозар,
ауп, аха иҳарымҭаргьы ҳарзымҵаакәа ииагоит.
– Аиеи, сара сцеит, Иларион Ҭенгиз-иҧа, – иҳәан,
афырҳәа, дындәылҵны икабинет ахь дцеит Шьрыф
Каабан-иҧа.
а
тәи ахы
Шьрыф Каабан-иҧа иқыҭаҿы аизара амҩаҧгара аҿҳәара ааиаанӡа ҭынчрак имамызт, гәаҭеиран дызҿыз.
Уаанӡа ишиӡбахьаз еиҧш, иара идгылап зигәахәуаз рыла
далагеит иус ду иаҧхьа ишьҭаз аиҿкаара. Иара аус ахьиуаз дымнеит ҳәа акы иазҳәодаз, уахь, ддауаҧшьха дидгылан, араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ Иларион Ҭенгизиҧа.
Шьрыф Каабан-иҧа дахьнеилак, иреиҳәон амшын
агаҿа инаркны Ӡымыццак аҧшаҳәа ҩахьхьынӡа абнара
иамоу, Ахал-Соҧелаа шаҳәо. Ҳара акгьы ишаҳзаҧсам.
Ақәыџьмақәа ирҭыҧны иахьыҟоу, ихҟьазар, еиҳа
ишеиҕьу. Насгьы дара ақырҭқәа анҳазбзиаха, ҳаҳаҭра
шышьҭырхуа. Ҳанхара-ҳанҵыра уҳәа ҳаҧсҭазаара
шеиҕьыртәуа. Шьрыф Каабан-иҧа
абас зеиҳәақәо,
даргьы рҩызцәеи, рҭынхацәеи, ргәылацәеи уҳәа, абас
раҳәаны иреилдыркаарц, ҳабна Ахал-Соҧелаа ираҳҭар,
еиҳа ишаҳзеиҕьу. Абас, Шьрыф Каабан-иҧа «агитациа»
иҟаиҵаз абзоурала, ихыхны, иара иахь иигақәаз ҟалеит,
аха иҟалеит, иара убас, иара игәҭакы згәамҧхақәозгьы.
Избан, Шьрыф Каабан-иҧа абас иҽшьны, дзашьҭоу
ҳабнара ҳамхны, Ахал-Соҧелаа рыҭара, ақәыџьмақәа
ҳарфар ҳәа дшәаны акәу, ма даҽакы азы акәу ҳәа
азҵаарақәа ықәдыргылон. Џьоукы еилкааны, абас рҳәон:
«Маҵура дук дашьҭамкәа дыҟам» ҳәа. Зегьы ари аизара ааира иазыҧшын. Аизара ҿҳәарас иамаз мчыбжьык
акәын. Аха уи амчыбжь шықәсык иаҟарахеит, ааира
ацәыуадаҩхеит. Аизара уаҵәы акәны, иахьеиҧш актәи
амаӡанҟәгаҩ Иларион Ҭенгиз-иҧа диҧхьеит Заабеҭ
Мачагәа-иҧа асааҭ жәеиза рзы, иара икабинет аҿы
дҟаларц. Ари дызхаиҧхьаз, Заабеҭ Мачагәа-иҧа иауизымдырхуаз, аха иҟаиҵарызеи? Арахь Шьрыф Каабаниҧа ақыҭа дрылоуп, «агитациа» ҟаиҵоит, анахь араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Иларион Ҭенгиз-иҧа, иара
диқәгәыҕуеит. «Ҳаишьцәоуп» ҳәа уаанӡа ииҳәалоз зегьы
башоуп. Уи еижьагас шакәу изҳәоу ибзианы агәра игоит
Заабеҭ Мачагәа иҧа. Уи ҩызасгьы, иашьасгьы имоу, аӡәы
заҵәык иоуп. Уи Иван Иван-иҧа иоуп. Аха иалоухи, арҭ
аҩыџьа мчы ҳәа акгьы рымам. Амч рымандаз, араиком
аинструктор, ажәа рымакны, аизара амҩаҧгаразы, иара
ииҭаху мацара, аизарахь иааҧхьаны, иқәгылоу азҵаара
иара ишиҭаху иӡбарц дшашьҭоу еиҧш, дашьҭарҵозма?
Иван Иван-иҧеи, иареи, Шьрыф Каабан-иҧеи, Иларион
Ҭенгиз-иҧеи ирҳәо иазыразхар, рыдгьыл ргоит, иазыразымхар, дара русқәа цәгьахоит. Аус зусу анхацәа роуп.
Дара зеидгылар, усҟан, дара рус мариоуп, рыдгьыл дара
ирзынхоит, аха изеидгылоу?
Арахь, Иван Иван-иԥеи иареи ирыдиҵахьеит, дара
ирыдгыланы, аизараҿы, ицәажәарц. Ишҧаиури, шьҭа,
Заабеҭ Мачагәа-иҧа? Акраамҭа иара, ари азҵаара
дазхәыцуан. Ишахәҭоу еиҧш, ари азҵаара аҭак аӡбараз,
Заабеҭ Мачагәа-иҧа аҵыхәтәан иӡбеит, Иван Иваниҧа иҿы дцаны, уи ииҳәо иеиликаарц. Уи азакәанқәа
бзианы имдыруеи, ари аус ахькылсуа шҧеизымдыруеи,
игәахәын. Ахәылҧаз алашьцара иҽалакны, дҩеит Заабеҭ
Мачагәа-иҧа, Иван Иван-иҧа иҩны. Агәашә аартны
агәара данынҭала, ала ашра иалагеит. Иван Иван-иҧа
идыруан ала амла иакны ианшуази, тәым уаҩык дабаны ианшуази шеиҧшымыз. Уажәы, ишшуаз, тәым
уаҩык дабаны акәын. Уи иеиликааит Иван Иван-иҧа.
«Иаҳзаауадашь, ҳла ашышьа зеиҧшроу ала, иазымдыруа аӡәы даауеит, дарбанушь уи?» – ааигәахәын, адәахьы
дындәылҵит Иван Иван-иҧа.
– Ҳла иазымдыруаз аӡәы дбаны ишиеишуаз здырит,
аха иааиуаз дысзымдырит. Бзиала уаабеит, сҩыза гәакьа,
– иҳәан инапқәа џаџаӡа иааиҵыхны, Заабеҭ Мачагәаиҧа диҧылеит Иван Иван-иҧа. Арҭ рыҩџьагьы анынеидгыла, ҩыџьа аиашьцәа гәакьақәа, акыр шықәса
иеиқәымшәацыз реиҧш, игәыдибакылан, иааибагәӡит.
Иван Иван-иҧа, Заабеҭ Мачагәа-иҧа, ижәҩа инапы
наҵихын, аҩныҟа диманы иҿынеихеит. Ала аҧыхьа ишшыз еиҧш акәымкәа, иҵызуа, ишуа иалагеит. Ала ашбжьы шыҟаз ала, Марусиа Николаи-иҧҳа иеилылкааит
«иртәыз» аӡәы дшааиз. Ларгьы дындәылҵит, иааиуаз
днеиҧыларц. Ашә аартны даныҩдәылҵҵәҟьа, даргьы
ашә иаалагылеит.
– Бзиала уаабеит, Заабеҭ Мачагәа-иҧа, ҳабаугәалашәеи? – лҳәан дгәырҕьаҵәа днеиҧылан аҧсуаҵас
даагәыдылкылеит.
Иван Иван-иҧа раҧхьа дгыланы ауада длыҩнашылеит.
Нас алеира ааимаркит Заабеҭ Мачагәа-иҧеи, Марусиа
Николаи-иҧҳаи.
– Аҧшәымак иаҳасаб ала, аҧсуа ҵасла, иамамкӡакәа,
ҳаҧхьа дгыланы длеит Иван Иван-иҧа. Уажәы, раҧхьа
зыхәҭоу, алеира уара уоуп, – лҳәан Марусиа Николаииҧҳа Заабеҭ Мачагәа-иҧа, лара лаҧхьа длалмышьҭыр
лымуит. Заабеҭ Мачагәа-иҧа данлеи ашьҭахь Иван
Иван-иҧеи, иареи астол иадгылақәаз аскамқәа иаарыхан, илеицтәеит. Урҭ рашьҭахь, Марусиа Николаи-иҧҳа
дныҩнашылеит.
– Заабеҭ Мачагәа-иҧа. Сара Аҧсны, аҧсуаа шәыгәҭаны сынхоит. Аҧсуа ҵасқәа ззымдыруа рзы, Аҧсны
анхара, Аҧсны арҧхашьароуп иаанаго. Изхысҳәаауа,
аҧсуа ҵасқәа издырқәуа, уара изысхауршҭуеи? – лҳәеит
дыхәмаршәа Заабеҭ Мачагәа-иҧа иахь лхы налырхан.
– Ибҳәо иашоуп, Марусиа Николаи-иҧҳа, аҧсуаа ажәаҧҟаны ирҳәоит: «Зашҭа уҭоу иашәа ҳәа» ҳәа. Аха ус зе-
гьы иҟарҵом. «Ҳахьыҟзаалак, ҳара ҳтәы иаҳаргалароуп»
ҳәа ауп џьоукы шыҟоу», – иҳәеит Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
– Ус иҟоу ҳара ҳреиуам, ҳагьрышьҭам, аҧсуа ҵасқәа
ҵаны, Урыстәыла имҩаҧугаргьы, аурыс икультура
шьҭухуеит акәымзар, излауҧырхагоу ҳәа акгьы ыҟаӡам,
– лҳәеит Марусиа Николаи-иҧҳа.
– Марусиа Николаи-иҧҳа аиаша лҳәеит, ақәра ду змоу
амилаҭ, ирҿуҵааша рацәоуп, уи ҧхашьара ҳәа акгьы
амаӡам. Аҧсуаа рҵасқәа, наукак иадҳәалам акгьы ыҟаӡам.
Нас урҭ рҵасқәа ҵаны, зхы иазырхәо иабеиҧырхагоу? иҳәеит Иван Иван-иҧа.
– Даара иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит, шәара абас,
аҧсуара пату ақәҵо, аҵара шәахьаҿу, ибзиангьы шәхы
иахьашәырхәо. Зхы пату ақәызҵо, ус ауп ишыҟоу, даҽакала иҟаӡам, ҟалашьагьы рымаӡам. Аиаша ҳҳәозар,
џьоукы-џьоукы аҧсуаа раҵкьыс, шәара аҧсуара шәылоуп, аҧсуаҵас шәынхоит, аҧсуаҵас шәхы мҩаҧыжәгоит, – иҳәан иаҧсаҵәҟьаны иааирҽхәеит, Иван Иваниҧеи, уи иҧшәма ҧҳәыс Марусиа Николаи-иҧҳаи, Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
Шәара шәеицәажәоит ҳәа сара сшәыдтәаланы
сахьцәажәо, сиашоума? Даҧсыуа ҩныҧҳәысзар, ушьҭа
дгыланы, шәхәы лырмазеихьазаарын, – лҳәан афырҳәа,
дҩагылеит Марусиа Николаи-иҧҳа.
– Сара ара сзааиз, усқәак рзы, Иван Иван-иҧа
сыниазҵаап ҳәа акәын.
– Имҩаҧысраны иҟоу ҳаизара атәы акәхап.
– Ааи, уи азоуп.
– Сара соурысуп, акырџьара аусқәа зухьеит, аха ас
еиҧш, еизарак мҩаҧырго, сара џьаргьы изымбацт. Аизара мҩаҧганы, ажәлар ирҳәо еилыркаар рҭахызар, изымуада? Аха дара изарҳәо рыда аӡәы дааир ҟамло, нас
ҳара баша ара ҳзыҟеи?
– Уи иашоуп, уи идыру усуп, аха сара ара сзааиз, умбои,
Иван Иван-иҧа. Уаҵәашьҭахь ақыҭа еизара ду ҳамоуп,
ажәлар реизгара, ҳара ҳус аламҵакәа. Сара уаҵәы, асааҭ
жәеиза рзы, дсыҧхьоит, араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ,
Иларион Ҭенгиз-иҧа. Уи исеиҳәо сыздыруам, ма уаргьы
асҭаршнагьы деицҳаҧхьандаз, акы иамусымзи?
– Адгьыл зтәу аколхара ауп, уи азы акәхап асҭаршна
иус заларымҵо.
– Ус акәхап, аха, ма уаргьы дуҧхьандаз? Изакәтә
политикоузеи, урҭ имҩаҧырго? Аиаша уасҳәоит, уаргьы саргьы ҳамала ҳакәӡам урҭ зхыччо. Урҭ ирхыччоит
Шларҭаҧаа зегьы. Рацәа иҧсит ишырхыччо нырзеилымкаа. Усҟан Шларҭаҧаа рахьтә акгьы еилызкаауа аӡәгьы
дыҟам ҳәа ауп иаанаго.
– Уаҵәы араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ иахь сышцо, улымҳа инҭысшьып ҳәа ауп сара уара уҿы сшааиз,
ҳәарада, адгьыл аус азы акәхоит, нас уаҳа иззакәхари,
уара угәанала, Иван Иван-иҧа?
– Уи азы акәхоит, ҳәарас иаҭахузеи? Маӡала џьара акы
удиҵозар акәхап! Уи ануеиҳәалак ауп, ианеилукаауа,
уаанӡа еилкаашьас иауҭои?
– Уи иашоуп,аха ҳара иаҳҳәои? Ажәлар ҳармыдгылакәа,
Шьрыф Каабан-иҧеи, Иларион Ҭенгиз-иҧеи ҳазларыдгыларызеи?
– Ааи, аха дара ажәлар жьаны ҳара иаҳҿадыргылар,
ишҧаҟаҳҵои?
– Ус ҟарҵаргьы ҟалоит, аха ҳара ҳақәымшаҳаҭхароуп
адгьыл зтәым рыҭара. Ус ҟаҳҵар, иара анцәа ихаҭагьы
дҳазгәаауеит. Адгьыл изтәым рыҭара ҳамуроуп. Ӡымццак
нырцә ала ишьҭоу абнара ихырҟьаз азбжак аџьықәреи
ларҵоит, иаанхаз адгьыл, аҭәа архразы иаурыжьит. Аанда рымкӡеит. Арахә инеиз кны, иганы иҭаркуеит. Иафаз
аҟара жәантә еиҳаны «аштраф» удыршәоит. Ӡымццак
аарцә дара иргаргьы ус ауп иҟарҵо, нас ҳара ҳколнхацәа
ишҧарзаауеи? Урҭ рырахәи рыҧсасеи абаргои? Аус
ахьыруа аколнхараҿы ироуа ала рхқәа рбап ҳәа уҟоу.
Аколнхацәа рцәажәашьа аабап. Изакәызаалак, ҳара
ҳақәӡыргьы, ҳажәа аламҵакәа ҟалашьа амаӡам.
– Ааи, аха ҳақәдырӡыргьы алшоит. Уи умашәа
ибатәӡам. Ҩажәеи жәибыжьтәи ашықәс макьана аҵыхәа
ҧымҵәаӡацт.
– Ҳақәдырӡыргьы, ҳақәдырӡит.
– Уаҵәы иуҧхьаз ииҳәо ҳаҳап. Уаҵәашьҭахь уааир,
усҟангьы ҳаицәажәап. Заабеҭ Мачагәа-иҧеи Иван Иваниҧеи, абас ишеицәажәоз, абысҭа уны, ашә агәылаҵаны,
аколбас ххны, ачанах ианҵаны, акониак ааганы астол
иаақәлыргылт Марусиа Николаи-иҧҳа.
– Акымзарак аҭахӡам, Марусиа Николаи-иҧҳа, –
иҳәеит Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
– Ишҧаҭахым, Заабеҭ Мачагәа-иҧа. Уааи, ҳҩагыланы
ҳнапқәа ӡык нарықәаҳҭәап, – иҳәеит Иван Иван-иҧа
дҩагыланы. Иван Иван-иҧа даныҩагыла дҩагылеит
Заабеҭ Мачагәа-иҧагьы. Урҭ рыҩџьагьы ндәылҵын,
анапырӡәӡәагаҿы инеины, рнапқәа ӡәӡәаны иааин, астол
илахатәеит.
– Марусиа Николаи-иҧҳа, ари акониак иаабгаз
аҵкьыс, жәаха Маниа иаҳзаалгаз ҩынтәыршыра ауатка
аага, уи еиҳа еиҕьуп, – иҳәеит Иван Иван-иҧа.
– Уи еиҳа еиҕьашәшьозар, иаазгап, – лҳәан дцаны,
ҩынтәыршыра ауатка ааганы, раҧхьа иаақәлыргылт
Марусиа Николаи-иҧҳа. Ауатка зҭаз абутилка аақәихын,
рфырџьанқәа ааирҭәын, нас Иван Иван-иҧа дҩагылан,
афырџьан аақәихын:
– Анцәа улҧха ҳаҭ, анцәа абзиара ҳзыҟаҵа. Милаҭ еилых ҟамло, урҭ еилызхуа дҟамло, аусуцәеи аколнхацәеи,
абзиа рыманы рхәыҷқәеи дареи еибааӡо, доусы иҧсадгьыл аҿы, аҳра иуа, анцәа иҟаиҵааит, - иҳәан иикыз
афырџьан инҭыркәкәа ижәит.
Уи ашьҭахь, Заабеҭ Мачагәа-иҧа ифырџьан аақәихын
аныҳәаҿа инациҵеит:
– Иван Иван-иҧа, уара ишуҳәаз еиҧш, анцәа
иныҳәааит аколнхацәеи аусуцәеи, убас егьырҭ ауаа
фархьқәеи зегьы. Анцәа агәабзиара риҭааит. Ируа ахә
роуло, дара аусура рылшо, анцәа ҳазшаз иҟаиҵааит. Уара
уоурысуп, Аҧсны ушыҟоу удыруеит. Аҧсуаа реиҧш,
аҧсуа ҵасқәа пату рықәуҵоит, иныҟәугоит. Егьырҭ
иҳаланхо амилаҭқәагьы, Аҧсны ишынхо рдыруа, аҧсуаа
рыдгьылқәа рымарымкуа, анцәа ҳазшаз иҟаиҵааит, иҳәан Заабеҭ Мачагәа-иҧа афырџьан ыжәны, иҭыҧ аҿы
длатәеит. Убасҟан, длатәеит, Иван Иван-иҧагьы.
Марусиа Николаи-иҧҳа илдыруан, Заабеҭ Мачагәаиҧеи, Иван Иван-иҧеи арыжәтә даарак ишазыразымыз. Убри аҟнытә «акрышәфа», - лҳәеит арыжәтә аӡбахә
мҳәаӡакәа.
– Ус егьа иҟазаргьы сара даҽа фырџьанк скуеит, – иҳәан
Заабеҭ Мачагәа-иҧа рфырџьанқәа ааирҭәын аҧшәмацәа рныҳәаҿа икит. Уи ашьҭахь, Иван Иван-иҧагьы
афырџьан аақәихын, Забеҭ Мачагәа-иҧа диныҳәеит.
Абас ала, арҭ аҩхацәак еилибакааны, амцхә арыжәтә
рымжәит. Амала, ибзианы акрырфеит. Акранырфа ашьҭахьгьы акраамҭа итәаны иеицәажәон. Урҭ ргәы иаланы
излацәажәоз, уаҵәы, Заабеҭ Мачагәа-иҧа, араиком актәи
амаӡаныҟәгаҩ дахьиҧхьаз, иеиҳәои, уаҵәашьҭахьтәи аизара шымҩаҧысуеи ртәы акәын. Аҵх акыр инеихьаны
еиҧш, Заабеҭ Мачагәа-иҧа дҩагылеит аҩныҟа дцаразы.
Марусиа Николаи-иҧҳаи, Иван Иван-иҧеи, ҩагылан,
ацәыкәбар аҿынӡа днаскьарган, аҧсшәақәа еибыҳәаны,
инеидыҵит. Заабеҭ Мачагәа-иҧа, аҩны данааи, иҭаацәа зегьы шьҭалахьан. Аӡәы дирҿыхар ҳәа дшәаны,
ишьацәкьарақәа дрықәгыланы, днеины ииарҭаҿы днаиеит. Дахьиаз, хәыцран дызҿыз, аха иихәыцуаз ҳәа акгьы издыруамызт. Уи ихәыцрақәа зегьы еилахәапашьа
акәын ишыҟаз. Ихәыцрақәа еилахәа-пашьа излаҟамлози,
усҟантәи рыҧсҭазаара зегьы еилахәапашьа акәызар
ишыҟаз? Уаҵәы араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ диҧхьоит,
уи иасҳәаша ҳәа иарбанзаалак, акгьы изымыӡбеит.
«Аус злоу аҽҳәара иамоу сагымхакәа слеиааит. Акгьы
сазыҟаҵамзаргьы, уадаҩӡам. Азҵаарақәа исиҭо, рҭакқәа
сызиҭар збап» - иҳәеит уи гәаныла, уаҳа ииҳәашаз ҳәа акгьы анизымыӡба. Мчыла дыцәарц далагеит, аха иамуит.
Абжьааҧны аасҭа, уи аҽны, еиҳа заа дгылеит. Акрифе-
ит, акрижәит, нас дцараны дахьыҟаз, дцеит. Аамҭа имаз
акәымкәа, амцхә заагьы длеицәеит. Амагазинқәа анаадырт, урҭ дынрыҩныс-аарыҩнысуа, акыр аамҭа дрыҩнан.
Араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ данидикылоз,аамҭа жәабаҟа
минуҭ шагыз, аҩбатәи аихагылаҿы дҩыхәнан,дышиашаз
ашә днеин днылагылеит.
– Аӡәыр дыҟоума? – иҳәан дҵааит Заабеҭ Мачагәаиҧа.
– Мап. Аӡәгьы дыҟаӡам. Шәара ишәыжәлоузеи?
– Џьыкырба Заабеҭ Мачагәа-иҧа. Ижәлеи, ихьӡи,
иабхьӡи, ааидкыланы иҳәаны, «длеир иҭахуп», ҳәа
анылҳәа ашьҭахь илкыз атрубка лықәылҵан:
– Шәлеи, – лҳәеит итәаз амаӡныҟәгаҩ, Заабеҭ Мачагәаиҧа иахь лхы налырхан. Заабеҭ Мачагәа-иҧа ашә аартны дныҩнашылт.
– Уа мшыбзиа, – иҳәеит Заабеҭ Мачагәа-иҧа дшыныҩналаз еиҧш.
– Бзиала уаабеит, сашьа Џьиқьиа Заабеҭ Мачагәа-иҧа!
– Ҳара ҳ-Џьиқьиақәаӡам, ҳ - Џьыкырбақәоуп!
– Мамоу, ҳ-Џьиқьиақәоуп!
– Џьыкрааи Џьиқьиааи еижәлантәқәоуп уҳәар
сақәшаҳаҭуп. Ус акәымкәа и-Џьиқьиақәоуп уҳәар, сақәшаҳаҭым.
– Избан, узақәшаҳаҭым?
– Избанзар, уаргьы саргьы ҳаиҳа зхыҵуа, ҳаиҳа здыруа, уаб Ҭенгиз Џьиқьиаа, Џьыкырбақәоуп, ақырҭцәа
мчыла Џьиқьиа ҳәа ҳанырҵеит ҳәа сеиҳәеит.
– Ҳара ҳ-Џьиқьиақәазаргьы, ҳ-Џьыкырбақәазаргьы
акәӡам аус злоу. Аус злоу иашьцәаҵас, пату еиқәҵаны,
аус ҳзеицур ауп. Иаҳгәаҧхар, уи ҳара иҳалшоит. Саб
ииҳәаз иашоуп, ҳара ҳ-Џьыкырбақәоуп, аха сара иаартны
исҳәо, зхысҳәаауа, уақырҭуазар, еиҳа абҕа уауеит азоуп,
уаҧсуазар аасҭа. Уи азоуп, уара уақырҭуастәыр зысҭаху.
– Сара сыбӷа-саҧсыуроуп, аҧсуара зцым абӷа,
сааҳәынгьы сахәаҧшуам, иагьысҭахым.
– Убасҵәҟьоу?
– Ааи, убасҵәҟьа.
– Ус акәзар, узнымхеит.
– Ибзианы сынхоит ҳәа саҧсуара касыжьуазар, ацәа
сцәоуп. Сыччиазаргьы, сшаҧсуоу сыҟазааит.
– Ус ацәажәашьа узырҵаз, аурысхша Иван Иван-иҧа
иакәу?
– Ииуеи, Иван Иван-иҧа? Дшоурысу идыруеит. Идыруеит, Аҧсны дшынхо. Аҧсуара пату ақәиҵоит. Иҩны
унеир Аҧсуаҵас дуҧылоит. Хҧа-ҧшьба шықәса рыла,
аҧсшәа аҷҷаҳәа ирҵеит ҭаацәала.
– Аиаша уасҳәоит, аҧсуаа ҳәа милаҭ ыҟаӡам. Ҳара
ҳақырҭцәоуп, ҳахьынхогьы Қырҭтәылоуп.
– Убас ада уаҳа узеилымкаауазар, узлоу умаҵура,
уаҧсаны уалам, баша уалоуп.
– Уара иуҳәақәо узырҳәо, аурыс иоуп. Аурыс Иван Иваниҧа зынӡа убжьихӡеит, ахәаша. Наҟ дықәгатәуп уи аурыс,
ацтәыҟаҵаҩ. Убри аурыс ида, уаҳа иҟашәҵоз аӡәгьы
дышәмоуӡози, аиҵбыраӡатәи апартиа маӡаныҟәгаҩыс,
аҧсуа қыҭа ҧшӡа Шларҭаҧа дуӡӡаҿы? Уи дҭактәуп, аха
иҭакара ус имариам. Дҭоукразы, зны апартиа далцатәуп,
нас ауп уи иҭакра алацәажәара анаҭаху. Сара иахьа
сызуҧхьаз ҳлеидтәаланы, ҳаицәҳаны ҳнеидыҵып ҳәа
акәӡам. Аус иҳамоу, ҳалацәажәаны, ииашаны, иӡбаны,
амҩа иқәҵатәуп ҳәа ауп. Угәы ишҧаанагои, аҩыза
Џьыкырба? Иарбан усу, иахьа уаргьы саргьы иҳаӡбараны
иҟоу, аа?
– Адгьыл аус акәхап.
– Ааи, адгьыл аус ауп. Умбои, Мрагыларатәи Қырҭтәылантә, ихҵәаны иааит Мраҭашәаратәи Қырҭтәылахь.
Урҭ ара адгьыл рмоу закәызеи? Сашьа иоуп, усгьы исҳәо
мап ацәикуам, дсыдгылоит ҳәа сгәы иаанагеит акәымзар.
зынӡа сымҵааӡакәагьы шәыбнара, Ахал-Соҧелаа инрысҭар, иҟашәҵараны иҟази, усҟан? Ус аҟаҵара сара исылшарым ҳәа угәы иаанагозар, агха ухьит. Агха смыхьит
ҳәа угәы иаанагозар, иуҭахызар, иусырбап.
– Иуҳәо иашоуп, Иларион Ҭенгиз-иҧа, шәара амч ду
шәымоуп. Ишәгәаҧхар ишәылымшо ҳәа акыр ыҟоума?
Амч ду шәара ишәымоуп, аха агәыбылра шәымам.
– Амч дугьы ҳамоуп, агәыблырагьы ҳамоуп. Агәыблыра ҳамоуп азоуп, Мрагыларантәи Қырҭтәылантә
иааз ҳрыцхраар заҳҭаху. Нас угәы ишҧаанагои, урҭ мап
рцәаҳкрыма, Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
– Мап рыцәкы сымҳәеит, аха Шларҭаҧаа рыдгьыл
хәыҷы аарымхны, Ахал-Соҧелаа инрышәҭар, нас дара
рхы зларбои?
– Бноуп, ани дгьылума? Шәара ишәымоуп ҳәа иалашәхәузеи? Уи шәара ишәзыхҟьом, шәхы ишәзархәом. Ус
баша ишьҭазаауеит ауп.
– Баша ишҧашьҭазаауеи, Шларҭаҧаа рырахәи рыҧсасеи амбои? Абна ауаҩы иҧырхагоуп ҳәа шәара шәгәы
иаанагозар, ахҟьара ада ҧсыхәа амамзар, Ахал-Соҧелаа
рзы ишаажәго еиҧш. атракторқәа ааганы, Шларҭаҧаа
рзы ихышәымҟьоз?
Абарҭ аҵыхәтәантәи, Заабеҭ Мачагәа-иҧа иажәақәа,
даара игәы иалсит, даадырхәыцит Иларион Ҭенгиз-иҧа.
нас ихьарҧссаны ацәажәара дналагеит:
– Иухьи, Заабеҭ Мачагәа-иҧа, ас сара суқәгәыҕуамызт.
Шларҭаҧаа, Шьрыф Каабан-иҧа изашшуа ианалага, дахьыҟоу, даансыжьуан, амцхә зыҽзырхагақәо,
аӡәыр ҟалар, днаганы дынҭаскуан, иара аҷҷаҳәа аус
исыруан, аха Шьрыф Каабан-иҧа дамхны иҟашәҵода
анысҳәа, уара ухьӡ анадырба, Шларҭаҧаа ирҳәаз сазыразхеит. Саҭоумҵан, изакәымыз ала угәы нсырхазаргьы. Зегь акоуп, ҳара ҳаишьцәоуп, убас, ҳшеишьцәоу
ҳагьаанхароуп. Зус еилоу акгьы еимаркыроуп, акгьы
еиҿаркроуп, ус ауп аус шыҟоу. Сҩыза, сашьа, Заабеҭ
Мачагәа-иҧа, сара ибзианы издыруеит, уи адгьыл АхалСоҧелаа ирымгар шырымуа. Уи раҳҭом ҳәа иаҿагыло
аӡәыр ыҟазар, урҭ рҭыҧ иқәҵахоит. Шаҟа ибзиази,
уаҵәтәи ҳаизараҿы Шларҭаҧаа рхала иеилкааны, ажәа
ҧшӡақәа ахҳәааны, рыдгьыл рырҭарц, мамзар, џьоукы
рхы ақәрымҵар ҟалом иахьа, абра уара уааиаанӡа,
Иван Иван-иҧа иахь исыцҳаит, аизараҿы дықәгыланы
ацәажәара иҽазыҟаиҵарц. Уа ииҳәо ҳаҳап. Уажәы, сара
абра иуасҳәо, иара акгьы иоумҳәан. Уара иуҭахызар, сара
уоусыжьуеит, уҽақәумыршәан. Иуҭахызар, аизараҿы
унеи, аха умцәажәан, ацәгьагьы абзиагьы умҳәан. Уи ала
ухы ухьчоит. Уи иаргьы саргьы ҳаибабап.
– Суҳәоит, Иларион Ҭенгиз-иҧа, уадымхалан убри
адгьыл. Ахал- Соҧелаа ирымоу адгьыл маҷӡам. Адгьыл
рзааныжь, иара зтәу, Шларҭаҧаа.
– Уи ҧсыхәа амазар, уара уаҳаҭра мацаразы, иҟасымҵо
арбан? Аха уи ҧсыхәа амам, абри еилкаа уаргьы. Ауаҩы
дахьиз, ахьизҳаз, дахьынхо аҭыҧ уҳәа, зегьы иреиҕьушәа
ибоит. Абрахь, иааганы инҳархо, аиҳараҩык, ирҭахӡамкәа
ауп ишааҳго. Дара ахьынхо, адгьыл ҽеиӡам. Ара иахьааиуа, адгьыл чашәуп, амшын иазааигәоуп. Арахь иаақәо
қьаф ура роураны иҟоуп, мышкы зны. Иҿиап, ирызҳап,
ҳмилаҭ ҭыргап. Аха уажәы раҧхьа ианаауа, рызхара адгьыл раҳамҭар, иқәҵны ицаргьы алшоит. Иахьааиз,
игьежьны имцаргьы, рызхара адгьыл рмоур, урҭ злыҵызи
дареи еиҭанеиааиуеит. Адгьыл бзиоуп, аха ҳазхара ҳарҭом
рҳәар, Мрагыларантәи Қырҭтәылантә арахь, уаҳа, аӡәгьы
ҳзаамго аҿынӡа ҳнеиуеит. Ҳара ҳгәы иҭоу ус акәым, ҳара
ҳгәы иҭоу, уаантәи иқәганы, арахь раагара ауп. Абригь
азхәыцра аҭахуп Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
Аҧсны хәыҷуп ҳҳәоит, аха усҵәҟьа иагьхәыҷӡам. Агаҿа
ықәырҭәааны, ақырҭцәа нхо иалагар, шәхәыҷқәагьы
ақырҭшәа рҵап, ҳҳхәыҷқәагьы аҧсшәа рҵап, ҳҭибагап.
Адунеи аҿы аҳәынҭқаррақәа иҟоу зегьы иреиҕьны
иҟалап. Ҳара Ҳ-Қырҭтәыла, Аҧсынтәыла злоу? Нас уи
еиҕьу акыр ҟалараны иҟоума? Адаҕь зҭоу аӡаҩа арҽхәоит:
«Сара сызҭоу аӡаҩа, аӡиасқәа зегьы иреиҕьуп», ҳәа, нас
ҳара иҳахьи? Абас дааҟәымҵӡакәа ацәажәара даҿын
Иларион Ҭенгиз-иҧа. Ари ииҳәақәоз игәахы ҧырҵәеит
Заабеҭ Мачагәа-иҧа. «Имоурахә ыӡааит. Егьа уҳәаргьы,
егьа уургьы, зегь акоуп, иара ииҳәац иҳәоит. Уаҳа акгьы нациҵом, иагьагижьуам. Иахьа хәлаанӡа акәым,
мызкы уидтәалазаргьы, ииҳәац ада, даҽакы иҳәом. Уи
аҵкьыс, хараӡа еиҕьуп, схы аҧырызгар», - игәахәын ацара иҽыназикит, Заабеҭ Мачагәа-иҧа.
Уи, Иларион Ҭенгиз-иҧа ианидыр:
– Иуасҳәаз ауп, уаҳа даҽакы ала аныҟәара аҭахӡам.
Сара сиашьара пату рықәысҵар сҭахуп, егьыпҭ ауаа
рылымкаа. «Иашьа даагәаҭаны дизымыхьчеит ҳәа ауаа
исзырҳәо сҟоумҵан». Заабеҭ Мачагәа-иҧа, Иларион
ҭенгиз-иҧа «абзиараз» ҳәа иамҳәаӡакәа, ашә аартны
дындәылҵит. Иларион Ҭенгиз-иҧа ашә аҿынӡа днеин, нас даагьежьны иҭыҧ аҿы днеины, днатәеит. «Ҳара
ҳазҿқәоу зегьы башоушәа збоит. Арҭ абынуаа рҿы,
ҳара акгьы ҳалшаӡом. Ажьа убжьараҳа, даргьы убжьоит. Ахшыҩ ду змоу Сталин ду, ибзоурала, Асовет мчра
ахьынӡанаӡааӡо, ацәгьа уаа акыр ираӷеит. Аха зегь реиҳа,
иаарылукаартә аҧсуаа ираӷеит. Урҭ еиҳа ирықәыҕәҕәеит.
Избанзар, урҭ рыҩнуҵаҟа иҟан ауаа мҽеиқәа. Амҩа иқәу
адәыҕба аҧхьа инагыланы, иааныркыларц, згәы иҭоу
уаауп. Урҭ ирылымшо рыздыруам. Уи азоуп, дара егьырҭ
амилаҭқәа раасҭа еиҳа изырҧырхагаха. Адәыҕба иааиуаз аанаҳкылоит шырҳәоз, илрыҕрысны ицеит. Аха зегь
акоуп, иаанхазгьы иҟарҵац ҟарҵоит, ирҳәац рҳәоит.
Нас ирзууеи, шьаҭанкыла зегьы ықәумхуазар? Сара
излазбо ала, иҵегь ираӡатәуп аҧсуаа. Аҵара змақәоу
зегьы ықәаагахьеит, аха уи азхоны ҳәа акгьы збом,
ҧҳәысгьы хаҵагьы зегьы ықәгатәуп. Нас ахәыҷқәа рымала иаанхар, иҟарҵараны иҟоузеи. «Шәақырҭцәоуп» –
уҳәар, ииашоу џьыршьоит, иақырҭцәаха иаақәгылоит.
Абри ҟамлакәа ҧсыхәак амаӡам, аха ианыҟало сыздыруам, акәымзар. Заҟа заа иҟало, еиҳа еиҕьуп. Заабеҭ
Мачагәа-иҧаҵәҟьа уихәарҭам. «Ҳаишьцәоуп», - сҳәан,
сыҩныҟа дганы, пату иқәысҵеит. Аха иалоухи, аус аҿы
дсыдгылом. Сыдгылара акәым, уаҩысгьы сиҧхьаӡом.
Ус акәу џьишьозаап, арыцҳахә иара. Аурысқәа рзакәан
иаҿынҵәаауа иашьҭоуп, Аҧсны ҧшӡа, Аҧсны какаҷ
дара ирызҭап зыргәыхәуази? Дара рмилаҭ заҟа имаҷу
ала, илҳалаӡ ишцо зырзымдыруеи?» Абас дхәыцуа,
икабинеҭ аҿы, акраамҭа дтәан, нас дҩагылан, ақалақь
дналаланы ибарц иҭаххан, ашә аҿы итәаз имаӡаныҟәгаҩ

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.