LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
Süzlärneñ gomumi sanı 3534
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1927
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Витиа ҩышықәса зхыҵуаз иҧа хәыҷы дыҟан. Уи
ииҳәаша узымҳәо, аҷҷаҳәа дцәажәон. Иан лаҵкьыс, ианду дахьлыдылкылоз азы, ианду еиҳа бзиа дибон. Иара
ихьӡын Мсураҭ. Уи ихьӡ ихьӡызтәыз Витиа иакәын. Витиа аҧсуаа дахьрыланхоз, урҭ, ихы аҵкьыс бзиа иахьибоз аҟнытә, аҧа даниоу, Мсураҭ ҳәа ихьӡитәит, аҧсуаа
реиҧш, ламыслеи уаҩралеи, акы игымхо дҟаларц
азы. Витиа аҧсшәа дыцәгьамкәа иҳәон, аха ибзианы
иахьизымҳәоз игәы иалан. Витиа ашкол дахьҭаз ақалақь
аҿы акәын. Уа далгеит ихарҭәаау абжьаратә школ. Уаҳа
аҵара изымҵеит, иара ибзианы идыруан, ақалақь школ
ахь ицаны, аҵара аҵара, заҟа аџьабаа ду ацыз. Убри
аҟнытә, иҧа даниацәажәо, аҧсышәала диацәажәон.
Мсураҭ ашкол дҭалартә анизҳалак, ақыҭантә аҧсуа школ
дҭеиҵарц азы. Усҟан Аҧсны ақырҭуа школқәа хҩаны,
аҧсуа школқәа аадыртхьан, аха макьана даара икәадан.
Усҟан ақыҭа школқәа зегьы ирылукаауа иҟан Шларҭатәи
ихарҭәаау абжьаратә школ. Уи ашколқәа ирылукаартә
иҟазҵаз, Марусиеи Ивани роуп. Урҭ рҧышәа аҧсуа
рҵаҩцәа ирырҭон. Ари ашкол аӡбахә бзианы иахьыҟаз
азы, Витиа иҳәалон:» Знык Мусраҭ ашкол ахь дцо далагар,
Шларҭаҧатәи ашкол дҭасҵон, уи дахьынӡахәыҷу, Маниа
лҿы даансыжьуан, ҧыҭк дандухалак, ихала аҩныҟа днеилон», «Уи ада хьаа анцәа иҳаимҭааит» – лҳәалон Маниа, Витиа ас иҳәо анлаҳалак.
Ашколқәа зегь рахьтә, Витиа дахьынхоз, еиҳа изааигәаны иҟаз, Шларҭаҧатәи ихарҭәаау абжьаратә школ
акәын. Витиа игәылацәа рхәыҷқәа абжаҩык ақалақь
школ иҭаз, адәыҕбақәа ирхьынҳаланы акәын ишцалоз,
иагьшаалоз.
Ахәыҷқәа, зхала ашкол ахь изымцалоз, иеиҭакны
аҭаацәа иганы иааргалон.
Витиа иҷкәын ус ддәықәиҵар, машәырк ихьыр, ма дыбжьысыр ҳәа дицәшәон. Уи азоуп Витиа изиҳәоз: «Мсураҭ
ашкол дҭалатә изҳар,Шларҭаԥатәи ашкол дҭасҵоит»
ҳәа. Витиа аихамҩаҿы аус иуеижьҭеи ушьҭа ҩышықәса
иреиҳан, иҧҳәыс дагыруа ҭыҧҳан, ақалақь аҿы аус луан.
Рыҩџьагьы ашьыжь усура ицон, ахәылҧаз иаауан. Марфуша лакәын аҩны иҟаз, ахәыҷи аҩни збоз. Марфушагьы
аамҭала аихамҩаҿы аус луан, уаантәи ауп, тәанчара дышцаз. Аколнхараҿы аус зуқәоз, атәанчахәгьы рауамызт,
аплангьы рықәырхуамызт. Рыҧсқәа ахьынӡаҭоу, аус рулар акәын. Егьирахь, аус зуқәоз, ус иҟамызт. Ртәанчахәы
ирауаз рҽадырбон, уаҳа ирҧырхагамызт. Марфуша
тәанчара дыҟан, аха аӡәы ииуаз луан, лгәы бзиан, аҩн
усқәа зегьы лара иҟалҵон, ахәыҷгьы дылбон. Мсураҭ
хәыҷы иани иаби усурантәи ианааилак, изакәызаалак,
акы анизааргалак рыхәда инапы хәыҷқәа хшьны, дрыд-
гылон акәымзар, абжьааҧны дызцыз, ианду Марфуша
лакәын. Уахынлагьы лара лакәын дызкәаиауаз. Витиа
иҧҳәыси иареи еинааломызт. Илыбаргызеи Марфуша, урҭ еинаало илымазар? Еснагь ацҭәа рыман. Лара
игәаҕьны ирызлаҳәомызт, «ишәыхьи? ҳәа. Ус ичҳауа дааиуан Марфуша. Аха аҵыхәтәан, илымҳәар ада ҧсыхәа
лмауит. Марфуша лҭаца даныҟамыз, ҽнак зны, лыҷкәын
дааиҧхьан, диазҵааит:
– Нан, сыҷкәын, есымша акы еимашәкуеит, избан,
ишәзеиҩымшози? Иҟалози, пату ааиқәҵаны, ажәа хаала
шәааицәажәалар?
– Сан, уи бара бус алабымҵан, сбыҳәоит.
– Сыҷкәын, уоуми, нан. Шәзыҟоу сҭахым, шәус аилыргара, сус аласҵар ҟамло сыҟоума?
– Быҷкәынцәа ҳауми, аха..
– Нас изурххози?
– Быҷкәынра ҳаҧсамзар ҟалап.
– Ус умҳәан, ус.
– Исҳәарым, аха…
Марфуша лыҷкәыни лҭацеи рҳәоу еиқәымшәара иазкны, раҧхьатәи реицәажәара абас акәын, раҧхьа ишалагаз. Аха Марфуша уаҳа акгьы лзеилымкааит. Лыҷкәын
иҟнытә ахаҳә лгәы иҭажьны, зегь чҳауа днеиуан Марфуша. Уи аҟынтә, еснагь, лгәы хьамҭаӡа иҟан, гәырҕьарак
лыблақәа ирхубаломызт. Мсураҭ хәыҷы иакәын, Марфуша лгәы ааҟазҵоз. «Сҭаца слазҵаап, уи илҳәо саҳап,
сыҷкәын акгьы сеимҳәеит, аха». – лҳәан Марфуша лҭаца
длазҵааит:
– Ишәыхьи, Маҟвала, еснагь Витиеи бареи акы еимашәкуеит, шәгәааны шәыҟоуп. Хаа бызшәак шәҿыҵшәаны, сара исмаҳаӡацт, ишәзеиҩымшози?
– Шәыҷкәын дышәзымааӡеит, цтәымзар, бзиак ахаангьы иҿыҵшәом. Абзиа зҿыҵымшәо, ажәа хаала узлаиацәажәарызеи?
– Бара быҧҳәысуп, ахаҵа бимацлаблан, нан.
– Шәыҷкәын ииҳәақәо зегь сызшәаҳәом, аха иацы
иеимаҳкыз шәасҳәоит.
– Исаҳәи, нан, иацы иеимашәкыз?
– Мсураҭ изҳар, аҧсуа школ дҭасҵоит, – иҳәеит. Избан,
аҧсуа школ дызҭеиҵо, ақырҭуа школ дҭеимҵо. Аҧсуа
школ дҭалар, дара аҧсуаа реиҧш, ҧшькласск даарылгар,
ахәбатәи акласс инаркны, амаҭәарқәа зегьы урысшәала
ирхысуа иалагоит. Аҧсшәагьы иҵоит, аурыстә ҵарагьы
иоуеит. «Ақырҭуа школ дҭалар, қырҭшәала абжьаратә
школ далгароуп, дақырҭуахар сҭахӡам», – иҳәеит Витиа. Ҳаҷкәын ақырҭуа школ далгар, дақырҭуахар
зиҭахымзеи? Аҧсуаа уаа ҽеиқәаӡам, аҧсуа ҳәа милаҭ
ыҟаӡам, урҭ бнауаауп. Урҭ ақырҭуаҳтәуеит ҳәа ақырҭцәа
алаган, ашколқәа рзаадыртын, аха дара ирзеилымкааит.
Аурысқәа рыцырхырааны ақырҭуа школқәа хырҩеит.
Уажәы, ирымоу, иагьқырҭуа школым, иагьыурысшәа
школым. Сара схәыҷы аҧсуа школ дҭасҵар сҭахӡам.
– Ихәыҷы, иду, милаҭ цәгьа ыҟаӡам. Аҧсуаа, ҳара
аурысқәеи, шәара агырқәеи иҳаицәоуп бҳәар биашам.
Ҳара ҳаҧхьагьы дара адунеи ианнагалахьан. Аамҭала
ҳара ҳаҵкьысгьы акультура рыман, иахьагьы ирымоуп.
Урҭ рҵасқәеи, рыуаҩышьақәеи рыла, ҳара ирҿаҳҵааша
рацәоуп. Амилаҭқәа иреиҕьу, иреицәоу ыҟаӡам. Мсураҭ
аҧсуа школ дҭеиҵаргьы, аҧсуаа рыгәҭаны ҳанхоит,
рбызшәа ҳҵароуп. Ахәбатәи акласс ашьҭахь, амаҭәарқәа
зегьы урысшәала иахысуеит, аурысшәагьы иҵоит азоуп, Витиа ииҳәогьы зиҳәо. Убри бдырроуп, нан, баргьы.
Нан, Маҟвала, абри аума еимашәкуа, уаҳа еимактәы
шәымаӡами? Ахәыҷы макьана ашкол иҭалара акыр агуп.
Иара игәы бзиа, ихы бзиа, ҽаанбзиала днеиааит. Абри
акәзар, еимашәкуа, биашам, нан. Маҟвала.
– Ари аума, еснагь ҳара иеимаҳкуа? Ари иацы
иеимаҳкыз ауп ҳәа басымҳәеи?
– Уаҳа еимашәкуазеи, нан?
– Сыздыруам, есыуаха, акы еимаҳкуеит.
– Шәеинаала, нан, шәеинаала.
– Аинаалара сыздырцәуам.
Марфуша лҭацеи лареи реицәажәарагьы, абас иҟалеит.
Лгәы нмырхаӡакәа, ашьшьыҳәа, лҽаанылкылеит. Уи нахыс лыҷкәыни лҭацеи реинымаалара аҵыхәала уаҳа
зҵаара лылымҭеит. Дара шеибаргәаац иеибаргәаауан,
ишеицәҳац иеицәҳауан, аамҭа аанҿасрада ицауан.
Уахык зны, Витиа иҩызцәақәак чарак ахь дыргеит
ҩызара ҳәа. Урҭ ахьцоз, ауха изаауамызт, уа иаангылар
акәын. Витиа ақырҭшәеи, агыршәеи, аҧсшәеи бзианы идыруан. Аурысшәа шиҳәоз еиҧш, иҳәон арҭ абызшәақәагьы. Иара иҵегь даныхәыҷыз, ихҵәаны иааз
агырқәеи ақырҭцәеи дрыланхон аҟнытә ауп, арҭ абызшәақәа, ас ибзианы изиҵаз. Витиа иани иаби зланхоз,
рыланхара уадаҩын азы, уа иқәҵны, уажәы, иахьынхо
иааины анхара иалагеит. Ара иахьааизгьы, ҩызцәас ҳәа
иоуит ақырҭуа ҷкәынцәа: Шьақрои, Џьамали, Мамукеи.
Абарҭ ракәын қырҭцәас ара инхоз, ихәыҷқәаны. Егьырҭ
рааигәара инхоз, зегьы урысқәан. Урҭ иҩархыкны, хабалак, аҧсуаа ракәын инхоз. Ари адәыҕба аангыларҭатә
станциа, ҧшьба, хәба аҧсуа қыҭақәа рыбжьара иҟан.
Арҭ ақырҭуа ҷкәынцәа реиҳа Витиа деиҳабын, ииҳәо
харҵон. Иара инапаҿы акәын дара ахьыҟаз. Ара
адәыҕбаангыларҭа станциа, аҧсуа қыҭақәа рыгәҭаны
иахьыҟаз аҟнытә, қыҭа цыҧхьаӡа, аҧсуа ҷкәынцәа
маҷымкәа Витиа ҩызцәас иман. Аха зегьы реиҳа Витиа дыззаигәаз Хәымса иакәын. Витиа иҭаацәеи иареи
раҧхьа иахьынхозгьы, агәыруа ҩызцәа бзиақәак иман.
Урҭ ракәын, уажәы, Витиа Гыртәылаҟа дызгоз. Гыртәыла
ачараҿы иахьҩеиз, Витиа ицәажәашьеи, иашәаҳәашьеи,
икәашашьеи,инаалашьеи зеиҧшраз збаз, аҭыҧҳацәа
иеиҽырбон, аха дызмилаҭуи, дышҭаацәароуи анеилыркаалак, урҭ рыгәқәа ааиқәылон. «Доурысымкәа,
дҭаацәарамкәа дыҟазар, узицымцахои», – рҳәон дызбалак, агырқәеи, ақырҭқәеи рҭыҧҳацәа зегьы. Убри ауха
Марфуша Мсураҭ хәыҷы дыҩлыкәаршәны, абжьааҧны
дышиалац еиҧш, лиарҭаҿы дышиаз, аҷараҳәа зыбжьы
аагаз агәашә абжьы даанарҧшит. Харҧ заҵәы дҩагылан
аҧенџьыр днылагылеит. Ашаца-шацаҳәа агәара дықәланы дааиуан Мамука. Уи алашьцара иҽагәылакны,
дшааиуазгьы, Мамука шиакәыз агәра лзымгеит Марфуша. «Арахь, дабацои, иблақәа ҭихааит», – аалгәахәит
Марфуша. Иара дышиашаз, лыҷкәыни лҭацеи рымҳара
ашә днадгылеит. Уи ашә дышнадгылаз, иеимаақәа
рышьҭыбжь ала иеилылкааит Марфуша. Ашәгьы аӡәы
дышнасыз удырратәы абжьы аагеит.
– Ашә аарты, ашә, Мамука соуп.
– Уажәыҵәҟьа.
– Иаарласны улеи.
Абарҭ ажәақәа Марфуша дахьгылаз ллымҳа иҭасит.
«Ишҧаҟасҵари?» – лҳәан Марфуша дхәыцуа акраамҭа
даангылеит. «Абри акәзаарын, сыҷкәыни лареи иеимаркуаз. Сара ишәсырбап, шәҩыџьагьы» – лҳәан Витиа ишәақь ахьыҵәахыз, иаацәырылган, аҭыҳәҭеи
иааҭыхны, аибыҭара дналагеит. Ашәақь ааибыҭаны,
рыҩџьагьы ахьиоу днеины, ашә аартны, длырхагыланы,
иааргәыдҵаны, илшьырц, лгәы иҭакны. Марфуша ашәақь
зныкыр илкхьазма? Уи аибыҭашьа лдыруазма, лара? Иаарласны ашәақь лзеибымҭеит лара. Уи аибыҭара акыр
дадхалеит, аха иахьцалак, акыр дадхалазаргьы, Марфуша
ашәақь еибылҭеит. Ашәақь анеибылҭа ашьҭахь, ихыршаны даҵхеит. Ашәақь данаҵха, «аҿақ» ааҿыҵгеит. Еиҵоу
апатрон ҭазар, ишҭҟьоз еилылкааит. Нас апатронақәа
дрышьҭалеит, аха илымбеит. Апатронақәа ыҟам, ашәақь
ахьыҟаз, – лҳәеит Марфуша. Анахь лҳәеит, арахь лҳәеит,
аха џьаргьы илымбеит. Аиха аашьҭыхны, длырхагыланы, лгәахәын, аха ус иауамызт. Ауада аҩнуҵҟала, азырза ахаршәны, ашә аркын. Уи ҧҽны дыҩналаанӡа дара
ҩагылон… Нас лара ҭакәажәык ҩыџьа аҿар раҵкьыс дызиааирызма? Ҳәарада мап. Дышны, иҟалҵо-илуа лзымдыруа лыҩны дааҩнахеит. Мсураҭ хәыҷы даалгәалашәеит.
Уи данаалгәалашәа, лҽаанылкылеит Марфуша. Ашәақь
илкызгьы ыршәны, акҿаҩра ингҿалыжьит. Ашәақь
акҿаҩра иахьынгҿалыжьыз, «агәара» ааҩнгеит. Мсураҭ
хәыҷгьы дахьиаз, арҵәаа ааҭирган, дааҿыхеит. Марфуша Мсураҭ игәшәымшәа аҳәара далагеит, аха Мсураҭ
дылзеиқәкуамызт. Убри аамҭазы, ашә аартыбжьы аагеит. «Уца, «уца» ҳәа Маҟвалагьы лыбжьы налыргеит. Марфуша днеины аҧенџьыр днадгылеит. Мамука
агәашә ааиртын, дынҭҟьеит, аха агәашә изамыркыкәа,
иҟьаҟьаӡа ишаартыз ус иаанхеит. Арҭ зегьы лбон Марфуша аҧенџьыр дадгыланы, агәашә ахь дыҧшуа дахьгылаз. Нас ушьҭа ишҧаҟалҵарыз, Марфуша? Рыҩџьагьы
лшьырц акәын лара лгәы иҭалкыз, аха уи ҟалҵартә еиҧш
деиқәымшәеит. Лара ишылҭахыз еиҧш деиқәшәаны,
рыҩџьагьы лшьыргьы, Мсураҭ хәыҷы ишҧеиуаз? Лара
урҭ лшьратәы дахьеиқәымшәаз ауп абзиа. Лара лгәы
ишаанагаз еиҧш, лусқәа ҟалар акәын, еиҳа ианеицәахоз.
Урҭ шьны, иҕьаҵәы-ҕьаҵәуа, иҵәыуоз ахәыҷы дызбашаз иаурыдаз, усҟан? Ауаҩы дызшьыз усгьы дыӡуан,
аха Витиа даанхон. Избанзар, мышкымзар, мышкы, урҭ
амаҳагьацәа ирыҵимхырц залшомызт. Усҟан, иара иранаижьуамызт, ма ишьуан, ма иҽдиршьуан.
Абас ала, хҵәаран, хыӡӡааран, Марфуша лыҷкәын,
Витиа иқәшәоз. Ушьҭа Марфуша лыҷкәын дааир,
иалҳәозеи? Аиаша лҳәар, дыцәгьаҳәаҩхоит, аиаша
лымҳәар илзычҳару? Абас дхәыцуан Марфуша Мсураҭ
хәыҷы дыжьжьаны, данлырцәа ашьҭахь, ишҧалуаз,
нас Марфуша дзықәшәаз лычҳар акәын, илычҳаит.
Аухатәила акгьы лымҳәеит, илҳәаргьы илылшараны иҟази? Лара лыҽлырҧсит. Акгьы зымбаз, акгьы
змыӡбаз леиҧш лҽыҟалҵеит. Маҟвала лакәын, илҳәара-илура лыздыруамызт. «Издыруада, иаха Марфуша лҭаца длызкылҧшуазар? Изҿқәаз зегьы лбазар,
усҟан ишҧаҟалҵарыз лара? Изакәызеи, нас агәараҳәа
зыбжьы газ? Хырқьиашьас иҟалҵари Маҟвала ланхәа
дылҿагылар? Иашоуп, Витиа иаҳахьеит, лара Мамука
дышицныҟәо. Аха уи иара ишиаҳаз атәым уаа рылоуп. Атәым уаа ирҳәо хаҵаны ауп, Витиа, еснагь, ацҭәы
шыҟаиҵо, атәым уаа, амц рҳәаргьы ҟалоит. Аиҵашьыцра
гәымха ахьыҟам ыҟоума? Аиҵашьыцреи ацәгьаҳәареи
рымшала заҟа рыцҳара ҳдунеи иабахьоузеи? Ҳаҧхьаҟа
заҟа абарангьы иҟоузеи? Рхы иақәиҭуп, абзиа зҳәогьы,
ацәгьа зҳәогьы. Аха, уажәы, ианҵәҟьа ҳалбазар, ианҵәҟьа
лыҷкәын длеиҿагыланы иалҳәар, «сыла иабаз» ҳәа.
Усҟан, хамҵашьас имоузеи, аҧа? Нас уи ашьҭахь, иара
исеиҳәозеи? Сишьуазар акәхап. Сишьыргьы сыхәҭами?
Сишьыргьы гәыбҕанс исҭози, сара уи сыхәҭами? Ашьра
иеицәоу хьырхәышьас иҟоузеи? Уи иеицәоу хьырхәра
ҳәа акыр ыҟазар, убри акәхоит, сара исыхәҭахо, аха…
Сишьааит, сишьааит, Витиа. Уи сара исыхәҭоуп, аха
Мсураҭ ишҧеиуеи? Мсураҭ уаҳа дзымбону? Ус сҳәеит,
аха Мсураҭ ихьраны иҟоузи? Сара саҵкьыс ианду дылбоит. Сара Витиа сишьыргьы, уи дкалыжьуам, дылбоит. Мап, мап, Мамукеи сареи раҧхьа ҳанеиқәшәа,
аухаҵәҟьа сыҧсыр, еиҳа исзеиҕьын, иҟасҵа закәызеи?
ауаа ираҳар, заҟа иҧхашьароузеи? Витиа иани иареи
роума, сашьцәагьы, исзааигәоу сҭынхацәагьы сылҵит.
Мамукеи сареи ҳаиқәшәара ҳаҟәыҵыр, еиҳа еиҕьзар,
здыруада? Еиҳа иеиҕьзаргьы ҟалап, аха иаҳзычҳар. Ари
ацәгьашьцылара иашьцылаз, аҟәыҵра ицәыуадаҩуп
рҳәоит. Сара исычҳаргьы, иара изычҳару? Витиеи сареи
ҳаиҧш, Мамукеи сареигьы ҳаицәҳауа ҳалагарыма? Уи
ацәҳара ҳәа иҟоу, сара сгәы ааҧнаҵәаӡеит. Нас сара мыжда. Ишҧазури, шьҭа? «Бсыцца, бсыманы Қырҭтәылаҟа
бызгоит» аниҳәа, сиццар, еиҳа еиҕьзаргьы здыруадаз?
Аха Қырҭәылаҟа ацара сара изымуит. Изур акәын аиаша,
нас ушьҭа ишҧазуеи? Уажәгьы, Мамука сыниацәажәаны,
Қырҭтәылаҟа ҳцар,еиҳа еиҕьзар?
Аха мап. Еиҳа иахьеиҕьҵәҟьоу, сара сахьыҟоу ауп.
Мамукеи сареи ҳзеицрыҵыр, аха ус ҳара иаҳзалыршару?
Убри ауп аус. Знык, аашар, Мамука дахьыҟазаалак,
дыҧшааны, ари азҵаара аҭыҧ иқәаҳҵароуп, мамзар,
иаргьы саргьы ҽеик ҳақәшәараны ҳаҟам. Хымҧада
ҳаиқәшәарақәа ҳарҟәаҵроуп. Ма ҳақәҵны Қырҭтәылаҟа,
ма Урыстәылаҟа ҳцароуп. Уаҵәы заҵәык Мамукеи сареи, анцәа ҳаиқәыршәа. Сара сгәы ишҭаскыз еиҧш,
иӡбатәхон ари аус хәашь. Абас дхәыцуан. Дагьҵәыуон,
Маҟвала дахьиаз. Уи ашара дахыццакуан. Шаацәылашалак еиҧш, дындәылҵны дцар акәын илҭахыз.
Мамзар, ашьыжь анаашалак, ланхәа дышҧалҿаҧшуеи?
«Иаха ибыкәаиаз дарбан, бара блааҭых ҳәа днылҿагылар,
ҭакс иҟалҵари, Маҟвала? Издыруада, Марфуша акгьы лымбакәа, лара баша дшәазар? Зыбжьы газ, цгәык
ахьыҩкыдҧалаз, акы канажьзар? Усгьы ҟалар, алшоит.
Иҟамло ҳәа акыр ыҟоума, ари ҳдунеи ду аҿы? Ус анакәха,
ашьыжь шаанӡа сахьцо егьыҟам. Абжьааҧны усура санцало еиҧш сцап. Марфушагьы лҟазшьа збап. Ус еиҳа
еиҕьуп, – лҳәан дыцәарц лыӡбеит, аха дзыцәом, дуазыруеит, днаҳәы-ааҳәуеит Маҟвала дахьиоу. Иахьа ашьыжь,
заа агылара акәым, абжьааҧны дышгылоз, еиҧшгьы
дзымгылеит Маҟвала. Лара илзымдырӡакәа лгыламҭаз
дынҭанагалеит. Маҟвала акрыф-акрыжә, усура ҳәа данцалоз, дызгалоз, адәыҕба арҵәаа ҳәа абжьы анаага ауп,
Маҟвала ацәа данаалҵ. «Сусура сагхеит» лҳәан афырҳәа
дҩагылан, аҽеилаҳәара дналагеит, лҿы ӡык нақәҭәаны,
лхы лҳәашәа ааҟалҵан, абжьааҧны еиҧш, Мсураҭ
дгәыдымкылаӡакәа, иаха Мамука дшәаны агәашә аартны
данцоз еиҧш, ларгьы агәашә амыркӡакәа, дынҭыҵны
дцеит. Лара усура дызлацалоз адәыҕба ааины, иззаӡа
игылан. Уи иаҧылараны иҟаз адәыҕба ааира иазыҧшны.
Маҟвала лыҧсы лыманы, аперрон даннықәгыла, игылаз
адәыҕба,иаҧылараны иҟаз, адәыҕбагьы ааира иаҿын.
Уи ааины илагылар, лара авагон аҵсра лықәшәон
аҟнытә, иааигәаны адәыҕба шааихьазгьы, афырҳәа
амҩа ааиҩылҵәан, игылаз адәыҕба днадгылеит. Уа игылақәаз зегьы, аҳәҳәара иалагеит. «Бызҿузеи, адәыҕба
бҽаҵабыжьуама?» ҳәа. Маҟвала адәыҕба амҩа ааҩҵәаны,
аперрон даннықәгыла, лшьамхқәа ҵыс-ҵысуа далагеит. «Сашьыҵәҟьарызу» аалгәахәын. Маҟвала илулак, дызлацоз адәыҕба анаҵысымҭаз, раҧхьа дын-
зыдгылоз авагон амаа кны дҩахьынҳаланы, дҩыхәнан,
иахьҭацәыз, ҭыҧк аҿы днатәеит. Адәыҕбагьы наҵысит.
Мыҩтәык амҩа дықәымхеит Маҟвала. Уи адәыҕба
дахьлыбаауаз, раҧхьатәи аангыларҭаҿы акәын. Лхы
лықәыжьны дышхәыцуаз, адәыҕба аангылеит. Адәыҕба
илыбаақәоз, лыбааны, иақәтәашаз, анақәтәа ашьҭахь,
ианындәықәлаҵәҟьа ларгьы ацәа даалҵит. «Ара
акәын, сылбаараны сахьыҟаз, сагхеит», - лҳәан атамбур
длықәххит. Ари иҟалҵаз збаз арҧыс ҳәынҭаз ду, лаҧхьа
игылаз, лыжәҩа ааникылан, даақәиргьежьит, нас авагон
аган аҿы иамаз аанкылага, аанкыланы алада длахеит.
Адәыҕба ашьшьыҳәа ишнеиуаз, иаангылеит, ашәқәагьы
аҷараҳәа иаатит.
– Ушьҭа блыбаа, - иҳәан арԥыс ҳәынтаз лыжәҩа кны,
адәыҕба дыллыбааит. Иара шьҭахьла дҩыхәнан, атамбур
даақәгылеит. Адәыҕбагьы ԥшьшьала аҿынанахеит.
– Иҭабуп, – лҳәеит Маҟвала, длыбаазгаз иахь лхы нарханы, нас ауаа рыжәпара дналалеит. Лара дышиашаз,
автобусқәа раангыларҭаҿ днеин, иааины игылаз автобус
днақәтәеит. Аҩыза автобус ааины ианылагыла, Маҟвала
дзықәтәаз автобус аҿынанахеит. Аџьармыкьа аҧхьа
афатә ҭирҭа магазин аҿы акәын, лара аус ахьылуаз.
Аџьармыкьа аҧхьа автобус анаангыла, лара дыллыбаан,
амҩа еиҩылҵәарц лҿыналхеит. Амашьына-лас «Победа»
шааиуаз, днаҧылеит. Амашына-лас анаалыдыххыла,
аныҟәцаҩ, ииулак, иааникылан, ахышә ихы нкылакны
дынлыҵаҳәҳәеит:
– Иҟалазеи, быҽсбыршьума? Бара бхы бҭахымзаргьы,
сара схы сҭахуп. Схәыҷқәа сааӡароуп, бара исымабкузеи?
– Нас ашьшьыҳәа умцо, -лҳәеит ахара иара идҵо.
– Ашьшьыҳәа сымцозар, бысшьуан, аха баанхеит, –
иҳәан дынлывсит.
Маҟвала аус ахьылуази, автобус ахьаангылози, зынӡа,
ҩажәаҟа метра ракәын ирыбжьаз. Усҟан амагазин ашә
аадмыртыцызт. Амагазин ашә аартра, маҷк аҟара агын.
Амагазин аусзуҩцәа, ашә аартра аҽазыҟаҵара иаҿын.
Амагазин аиҳабы, Маҟвала лыҟазшьа лцәымҕахан,
длазҵааит:
– Ибыхьи, Маҟвала, быҟазшьақәа сгәаҧхом.
– Автобус сыллыбааны сшааиуаз, «Победак» саҿаҳаит.
Уи аныҟәцаҩ ижәны дыҟазу сыздыруам, асветофоргьы
аркын, аха… - лҳәеит Маҟвала, акгьы лара илхарамызшәа,
зегьы «Победа» аныҟәцаҩ ихаратәны.
– Анцәа бихьчеит, анцәа бихьчеит, – рҳәеит лҩызцәа
акрызҭиуаз зегьы.
– Ааи, гәышьа, анцәа сихьчеит, – лҳәеит лҩызцәа
ирҳәаз ацынхәрас. «Анцәа симхьчар, еиҕьзаргьы ҟаларын» – алгәахәит лара.
– Ушьҭа амагазин ашә аарттәуп,- лҳәан амагазин
аиҳабы днеин, ашә аартра дналагеит. Акрыҭицәа рхалаҭа
шкәакәақәа рышәҵаны, рҭыҧқәа рҿы инеины инагылеит. Уи акәхеит, амагазин адәахьала агәараан ҟаҵаны
аахәаҩцәа, аҳәиҵә ҳәа ашә илеибаҳәаны, амагазин
аҩналара иналагеит.
Маҟвала хҩы-ҧшьҩы раҟара аахәаҩцәа рымаҵ лухьаны еиҧш, индәылҵыз аҧҳәыс, аҧара аҧыргақәа
Маҟвала илылҭаз лыҧхьаӡеит, еиҭалыҧхьаӡеит. «Аҧара
аҧхьаӡашьа схашҭма?» – лҳәан еиҭалыҧхьаӡеит. Хынтә
ианылыҧхьаӡа ашьҭахь, даагьежьын, аахәаҩцәа агәаран
игылақәаз, дынрылалеит. «Гәаранда слашәышьҭроуп,
акрыҭиҩы амцхә аҧара сылҭеит, исыргьежьроуп»
ҳәа аҳәҳәара даналага, зегь наскьа-ааскьақәан амҩа
лырҭеит.
– Нан, дбыкәыхшоуп, агха быхьит. Сара исшәараны
иҟаз, аҟара ацҵаны исыбҭеит, ибыхьыз сыздыруам,
аха…
– Унан, иҟасҵазеи? Иҭабуп, иахьшәыргьежьыз. Автобус саныллыбаа, «Победак» сысырц амаҷ ауп иаасыгхаз. Уи ауп уажәыгьы сзызхәыцуаз, – лҳәеит Маҟвала,
аҧарақәа зыргьежьыз аҧҳәыс лахь лхы нарханы.
– Бара акгьы ахьыбмыхьыз анцәа иџьшьоуп, аха ас
мацара, џьара иацыбҵо, џьара иагбырхо бҿынабхар, ма
бусура бамырхуеит, ма бҭаркуеит, – лҳәан аҧҳәыс дызлааиз ашә ала лҿыналхеит. Агәаран игылақәаз, лара данааиуаз, дшоурыжьыз еиҧш, данцозгьы днаурыжьын,
дынрылсны дцеит.
– Маҟвала, бнеины сҭыҧ аҿы бнатәаны быҧсы
шьа. Сара избоит, бара агәҭҟьара бзықәшәаз, бшьара бшықәнарҟьаз, – лҳәан Маҟвала лҭыҧ аҿы днеины
днатәеит амагазин аиҳабы, нас акрыҭира дналагеит. амагазин аиҳабы Маҟвала лхаҭыҧан аус луан сааҭк аҟара,
нас Маҟвала дааины, лҭыҧ аҿы днагылеит. Амагазин
аиҳабы лҭыҧахь лҿыналхеит. Маҟвала хәылҧазынӡа аус
луан. Ахәылҧаз, амагазин ашә аркра аамҭа анааи, амагазин ашә адыркын, ашьшьыҳәа, зегьы рыҩныҟақәа рахь
ианцоз, Маҟвалагьы урҭ дрыцны дындәылҵит.
Ахәылҧазтәи адәыҕба лҽахьыгӡаны лыҩныҟа дааит.
Уи амҩа дахьынӡақәыз дхәыцуан. «Иҟаз-ианыз акгьы
сзымдыруашәа сҽыҟасҵап. Издыруада, санхәа ҳлымбазаргьы, сара баша сшәоит». Маҟвала агәара данааҭала,
Мсураҭ хәыҷы иан дыҩны дналҧылеит «исзаабгази?»
«исзаабгази?» ҳәа.
– Усҭ, уан дукәыхшоуп, – лҳәан Маҟвала ақьаад
еикәарҳәы лсумка иҭаз ааҭылхын, Мсураҭ инилыркит.
– Иҭабуп, - иҳәан Мсураҭ иан ақьаад еикәарҳәы аалымихын, ианду лахь дыҩны иҿынеихеит.
– Нанду. Сан аконфеҭ сзаалгеит, баргьы ибысҭап, иҳәан ақьаад еикәарҳәы Мсураҭ иикыз, ианду лахь инаирххеит.
– Уанду дукәыхшоуп, сара аконфеҭ сфаӡом. Аконфеҭ
зфо, ахәыҷқәа роуп, уара иф, – лҳәан Марфуша лмаҭа
днеиҧырҵит. Марфушагьы акгьы лымбаӡошәа лҽыҟалҵеит. «Еснагь Витиа иҧҳәыси иареи зеицәҳауаз, иблала
имбацзаргьы, акы иаҳақәазар акәхап, аха уи ихала еиликаап. Сара цәымҕас сҽисыркрым, зынӡас акгьы сзымдыруашәа сҽыҟасҵап», – лгәахәын, Марфуша лҭаца длазҵааит:
– Нан, Маҟвала, Витиа данбаауеи?
– Уаха даар ахәҭоуп.
– Ҧшӡала дааит.
– Шәара зегьы шәрыцәшәоит, шәгәы ҭынчым зегьы рзы. Ихьп зышәгәахәои, Витиа, – лҳәеит Маҟвала
дгәырҕьаҵәа.
«Ари ҳлымбеит Мамукеи сареи. Сара баша сшәоит», лҳәан дгәырҕьаҵәа дааҟалеит Маҟвала. Уи аҽны еиҧш,
дымгәырҕьацызт Маҟвала лхаангьы, уи аҽнынтәарак
ашәа ҳәо аҩны дыҩнан. Марфушагьы акы лгәы иалоушәа
лҽыҟалымҵеит, ҿаҧха-ҿаччарала Маҟвала лыҽлыҵалырхомызт. Абас, рыҩџьагьы рымаӡақәа ҵәахны рыҩны
иҩнан.
а
тәи ахы
Витиа ҩызара дахьыргаз ачараҿы гәырҕьарала ирхыргеит дызгазгьы иаргьы. Ауха аиара ҳәа агәылара ицаны
ишьҭалеит. Агәыларатәи аҧшәмагьы, ишихәҭаз еиҧш,
исасцәа идикылеит. Витиа ауха дыхьыҩаиаз, ҧхыӡрыла
ибеит, иҩны амца акызшәа. Иара амца ирҧсырц аҭуан
ала дыхәнаны, амца арҧсра дшаҿыз дааҧшит.
Адырҩаҽны шьыжьымҭан Витиа игәалаҟара ҽеимкәа
ауп дышгылаз. «Измааноузеи, сыҧхыӡ избаз? Тәымџьара
сыҟоуп, џьара аӡәы дсызгәааны иакәым акы сақәшәашоу»
ҳәа дхәыцуан. Иашәаҳәареи, икәашареи, илафҳәареи
уҳәа рҿы аллахҿыхра рыламкәа акәын ихы шымҩаҧигоз.
Иахатәи ачараҿ ихы амҩаҧгашьеи, иахьатәи ачараҿ ихы
амҩаҧгашьеи, зынӡак еиҧшымызт, хәыки шьхаки рыбжьан.
Дыззымдыруаз, «уи уаҩ ҭынчк иоуп» рҳәозар акәхарын. Дыздыруаз: «Уи иаха иижәыз иҧырхагахеит» ҳәа
акәын ргәы иаанагоз. Аха аҽнытәи ачарагь рхыргеит ибзианы.
Аҧшәмацәа аҧсшәа раҳәаны, игәырҕьаҵәа ишиашаз аҩныҟа игьежьит. Уи ауха Витиа дызцыз иҩызцәа
рыҩныҟа дымҩахыргеит. Уаҟагьы, агәырҕьа-ччара ина-
цырҵеит. Аҵх агәҭанынӡа итәан, Витиа ҩызара дызгази иареи. Урҭ нхарала акыр иеицәыхаран, даҽа қыҭан
дара ахьынхоз. Витиа, ауха, аҩныҟа дцарц иҭаххан, аха
доурмыжьит. «Ижәны амҩа уқәаҳҵом», – рҳәан ауха уа
дааныркылеит. Адырҩаҽны, ашьыжь, шаанӡа, Витиа
дҩагылан, аҩныҟа дааит.
Усҟан, Маҟвала аҩны дыҟан,усура дымцацызт, амала
Марфушеи лареи гылахьан. Мсураҭ хәыҷы иакәын имгылацыз. Уи дҭахәхәа дыцәан. Уи дахьыцәаз, Витиа днеины
днихагылеит, аха димырҿыхеит. Витиа ихәыҷы дҭахәхәа
дахьыцәаз, акыр дихагылан, нас дааихыҵын:
– Сара усура сцеит, иҳәан иҿынеихеит.
– Акгьы унамыцҳаӡои? – дҵааит Марфуша.
– Акы снацҳахьеит, – аҭак ааҟаиҵеит Витиа.
– Ҧшӡала уааит, уца, нан, –лҳәан Марфуша лыҷкәын
аныҳәаҧхьыӡ наишьҭалҵеит. Витиа усура данца ашьҭахь,
рацәак аамҭа мгаӡакәа, акы днацҳаны, Маҟвалагьы усура ҳәа агәара дынҭыҵит. Абжьааҧны еиҧш, иахьагьы,
аҩны иааизынхеит Марфушеи Мсураҭи. Витиа аусуцәа
рҽахьеизыргоз, даннеи, усура ицақәоз, иааираны
иҟақәаз зегьы ааихьан. Аӡәаӡәала дыҩрылалан, рнапқәа
рымхуа, аҧсшәақәа реиҳәеит. Урҭ имааицыз ааиуазар
ҳәа ирзыҧшын. Витиа аус ицзуқәоз зегьы рҟнытә, еиҳа
дизааигәан. қәралагьы еиқәлацәоуп уҳәаратәы иҟаз,
Бадис иакәын. Бадиси иареи шынеидгылаз еиҧш, урҭ
рыхшыҩқәа еизышьҭны аицәажәара иналагеит,
– Витиа, иацуха угәашә савсны сцон, асааҭ хҧа реиҧш,
Мамука угәашә дааҭыҵын, дыццакны, иҿынеихеит. Сара
угәашә аҿынӡа сымнеицызт аҟнытә, саҧхьа дгыланы
дцон. Амала, иара симбаӡеит, иумази усҟан?
– Ианба, иацы аухоу?
– Аиеи, иацы ауха.
– Акгьы сымаӡамызт, – иҳәеит Витиа иаҳаз ажәа
ааицәымҕахан, аха, «уи аҽны аҩны сыҟамызт» ҳәа
изымҳәеит. Бадис идыруан, Витиа дахьыҟаз, насгьы
уҳәан-сҳәанла илымҳа иҭасхьан, Маҟвалеи Мамукеи
еиҿцаауеит ҳәа. Бадис ииҳәаз ааицәымаҕхан, даангыле-
ит. Уи иажәа ииҳәаз даҽаџьара иниаган, ацәажәара дналагеит. Аамҭа харак имгакәа, имааицыз аусуцәа зегьы
анааи, «шьҭа шәаала», – иҳәан рбригадир ибжьы наирган,
иҿынеихеит. Абаҳа гәаҩақәеи, рломқәеи аашьҭырхын,
аус рураны иахьыҟаз ахь рҿынархеит аусуҩцәа. Уа ианнеи, абжьааҧны еиҧш, аусура иналагеит. Урҭ аус ахьыруаз, алаф рҳәон, иччон зегьы. Витиа лафгьы иҳәомызт,
дагьыччомызт, иҽкаршәны аусура акәын дызҿыз. Уи
игәы еиқәын. «Бадис ажәа ииҳәаз зхиҳәаазеи? Уи изымбо зҳәақәо дреиуаӡам. Сара аҩны сшыҟамыз лдыруан
Маҟвала. Ҳәарада, уи Мамука длыманы, сыҩны дыҩнан.
Сара сыҧсы шҭаз, урҭ рыҩџьагьы, схыччеит ҳәа сгәы
иалан. Уаанӡатәи даарак иуадаҩымзт. Маҟвала, сыҩны
ддәылсцар акәхон, аха уажәоуп ианысхыччаҵәҟьа.
Маҟвала аҩны лдәылцара мацара азхаӡом. Уи дышьтәуп,
иарбанзаалак, еигӡарак ҳәа акгьы лҭахӡам. Аӡә дысшьы,
ҩыџьа сшьы, зегь акоуп сара сзы. Ашьра ашҟа саниас,
рыҩџьагьы шьтәуп. Аха урҭ рыҩџьагьы абеицубои?» – ҳәа
дхәыцуан Витиа. Витиа иихәыцуаз, Бадис иеиликаауан.
«Витиа иасҳәаз, иасымҳәар акәын, аҧҳәыс илхымҿиаауа
акгьы ыҟам, – рҳәоит аҧсуа жәлар. Сара сымшала ак
ҟалар, ишҧазуеи?» ҳәа хазы дхәыцуан Бадис. Ус ииулак, ирхәлеит Витиа. Аҩны данааи, иан лҿы, гәалак
имаӡамшәа иҽыҟаиҵеит. Ишәақь аҭыҳәҭеи иҭаҵаны
иахьиҵәахыз, днеины иаагәеиҭеит, аха иара ишыҟаиҵаз
еиҧш иҟамызт, напык ишакхьаз идырит, аха иарбан
напу изкыз? Уи ауп зеилкаара уадаҩу. Витиа иҧа Мсураҭ,
макьана, дхәыҷуп, макьана, уи ашәақь икуа дыҟам. Иан
лакәзар, дыҧҳәысуп, дҭакәажәуп, ашәақь кны иалалхузеи? Маҟвала илкрызу? Маҟвала илкызар, изылкрызеи? Изкызаалак, ус ҽеик азы акәмызт, изкыз анапқәа
ишыркыз. Бзиашәа еиҵаз апатронақәа аҟашҭаҭла иҭаҵаны, хазы иҵәахын, мамзар, ашәақь ахьҵәахыз, еиҵаз
апатронақәа ыҟазар, ҽеик алҵраны изыҟаломызт. Витиа ишәақь ааибиҭан, маскьатла еиҵаз апатронақәа,
ашәақь агәыцәқәа рыҩбагьы акака нҭеиҵеит, аҟашҭаҭла
ааимҕеиҵан, Витиа агәара дынҭыҵит.
– Уабацои, нан, Витиа, – лҳәан Марфуша лыҷкәын
иахь лхы налырхан ҿаалҭит, ицәшәа лыманы.
– Абна ацҳа уахьнықәсуа, сҩызцәеи сареи усура
ҳаҟаны ҳшааиуаз иахьаанага ҳәа здырхуада? Абын ҽа,
ахәда ҭҳәаа, атәыҩақәа хаххала, аҳаскьын ҿақәа шафоз
аабеит. Ара ҳахьеиланхо, ашәақь змоу ҳәа иҟоу сара
соуп, ахәылҧаз снашьҭашәарыцоит, – иҳәан иан аҭак
налиҭеит Витиа.
Иара игәы иҭаз, Маҟвалеи Мамукеи дәыҕбала ианаауаз ыҟан. Астанциа аҧхьа аешелонқәа игылоу,
днарывагыланы, адәыҕба анааилак, рымариа иоуны,
даныҟала, рыҩџьагьы иеицишьуазар ҳәа акәын. «Арҭ
шьны сыбналап» ҳәа игәы зынӡакгьы иҭаӡамызт Витиа,
игәы ишҭеикыз еиҧш Маҟвалеи Мамукеи изеицшьыр,
иара ихала амалициацәа иҽриҭарц акәын, заа иӡбаны
имаз. Ацҳа ааигәара днықәҧш-аақәыҧшшәа ааҟаиҵан,
адәыҕба ааимҭазы, уаанӡа ишиӡбахьаз, аешелонқәа ахьгылаз, ашьшьыҳәа днеины дынрывагылеит.
Витиа аешелонқәа дышрывагылаз, адәыҕба ааит.
Апасаџьырцәа адәыҕба анаангыла илыбаақәаз ирылан Маҟвалеи Мамукеи, аха уреихсыртә еиҧш, иара
аҭагылазаашьа имауит. Аӡәы
авагон аханы дҭыҵит,
егьи – аҵыхәан. Аӡәы дишьырц иҭахызар, ашьшьыҳәа,
дынишьҭалар, ауаа данаарылҵлак, диехсны дишьуан.
Аха руаӡәы дышьны, егьи дицәцар, иҭахӡамызт. Иара
ииҭахыз рыҩџьагьы ишьыр акәын. Ус данеиқәымшәа,
ашьра даҟәыҵит. Рыҩџьагьы иеицишьратәы ибаанӡа
ҳәа даангылеит. Аешелон дахьавагылаз, ашьшьыҳәа
даавҵын, аҩныҟа иҿынеихеит.
Витиа игәы иҭақәаз, Марфуша лцәа иалашәон. «Арҭ
акаҳҧцәа ааидибалар, лыҧхала иауижьуам, нас сара
ишҧазуеи? – ҳәа дхәыцуан.
Ари амш ашьҭахь, иааиуаз асабша ахәылҧаз Витиа
иан илеиҳәеит:
– Сан, ахәыҷы дҳаманы Маниа лышҟа ҳцап, ахәыҷи
бареи уа шәааныжьны, Маҟвалеи сареи аҩныҟа ҳаап,
ашьжьымҭан. Амҽыша ахәылҧаз сара сҩеины, арахь,
аҩныҟа шәаазгап ахәыҷгьы баргьы. Маниеи бареи
шәеибамбеижьҭеи иҵуа базхәыци, сан, шаҟа ҵуа, ббап.
– Ус сзууандаз, Витиа? «Иҭабуп» ҳәа уасымҳәози?
Шәынтә иақәскхьеит уахь ацара, аха ахәыҷы дсыманы
сызцомызт.
Витиа ишиҳәаз еиҧш, дныҟәеит. Иани иареи Маҟвала
лааира иазыҧшны илатәеит. Мсураҭ дахьыргоз заа
иарҳәахьан. «Ушьҭа ҳамцаӡои?» – ҳәа дырызҧшны, дгылан. Ус адәыҕба абжьы анаага: Мама даазгоз, адәыҕба
ааит, нас «ҷу-ҷу» ҳцоит ҳәа Мсураҭ ианду длацәажәон.
Адәыҕба астанциаҿы иааины, ианаангыла ашьҭахь,
жәабаҟа минуҭ анааҵ, Маҟвала агәара дааҭалеит. Мсураҭ
хәыҷы, дыҩны иан дналҧылеит.
– Ҳара иахьак, ҳазегь ҳбызҧшуп, ҳаицны «тиотиа»
Маниа лахь ҳцоит. Ҳара ҳахьцо, баргьы баалоит, – иҳәан
иан дҩылхьынҳалеит Мсураҭ.
– Ҳабацои? Мсураҭ ииҳәаз лзеилымкаазшәа Маҟвала
лҧа диазҵааит.
– «Тиотиа» Маниа лахь ҳцоит ҳара, ҳахьцо баргьы баагоит.
– Ари ииҳәақәо закәи? Шәцап ҳәа абашәгәиҭоу уаха? –
лҳәан Маҟвала, ланхәа длазҵааит, ацәыкәбар аҿы, Марфуша дахьтәаз, данаалыдгыла.
– Витиа игәаҧхарала, уаха Маниа лахь ҳцап ҳәа
ҳгәиҭоуп, бара бгәы ишаанаго сыздыруам, аха.
– Шәара ус шәгәы иҭазар, шәцоит ауп, сара сгәы иаанагараны иҟоузеи?
– Баргьы баагап ҳәа ауп, ҳара иаҳгәиҭоу.
– Уаха уа сцаны, уаҵәы, усура сызлахьӡои?. Шәара
шәца, сара ара сыҟаз.
– Акырздыруоу, нан, бара ишыбҭаху, аха бҳаццар
бзиан. Витиа ииҳәаз ҳәа ауп, сара ибасҳәо, иаргьы уаха
уа даангылар сҭахуп. Иахьа хәлаанӡа абаҳа гәаҩа кны,
аихамҩа дануп. Маниа лҿы дцаны, аара илымшар ҳәа
дшәозаап. Уи азоуп «уаха саргьы саангылоит» зиҳәаз.
Анхәеи ҭацеи абас ишеицәажәоз, Витиагьы дааины даарыдгылеит.
– Иеибышәҳәози, уаха шәахьцо, аума иеибышәҳәо? –
иҳәан Витиа иани иҧшәмеи дрызҵааит.
– Ааи, уи ауп, уажәы, ҳара иеибаҳҳәо, – лҳәеит Маҟвала,
Маниа лахь ацара шылҭахым удырратәы.
– Нас ишәыӡби? – иҳәеит Витиа иҧшәма лахь ихы наирхан.
– Сара сызцом. Ашьыжь инаркны иахьа хәлаанӡа
сшьапы сықәгылоуп, исылшом, Витиа, – лҳәеит лара.
– Ибылымшозар, аҩны баангыл, ҭаацәала, ҳаицны
ҳцозар акәын. Арҭ уа иҩаганы, саап.
– Узымааргьы уадаҩым, исыхьп зугәахәои?
– Ашарҧазы акәзаргьы саауеит, саргьы сааҧсаны
сыҟоуп, заа сзаауам, аха…
Ажәак ала, Маҟвала Маниа лахь ацара мап ацәылкит.
Абас реицәажәара ашьҭахь, аамҭа мыҩтәык инамгакәа,
Марфушеи Витиеи Мсураҭ хәыҷы дрыманы Маниа лахь
ицеит. Уа ианнеи, изылашьцара илашьцахьан. Маниа
лыжәқәа ҭакны илхьахьан. Уи илызҩеиз лысасцәа даара
дреигәырҕьаны, дырҧылеит. Иаарласны рхәы ҟалҵан

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.