LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3499
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1837
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Удокументқәа анасҭалак ашьҭахь, сҩызцәагьы снарацәажәашт.
– Ибзиоуп, Иван Иван-иҧа, – иҳәеит Хәымса.
Иван Иван-иҧа дышиашаз Хәымса идокументқәа
ахьарҭоз, днеин, агәаран дымгылакәа, Хәымса идокументқәа нариҭеит. Нас иидырқәоз алекторцәа днарышьҭалеит. Аинститут аҿы, уажәы, деканс иҟоу, Иван
Иван-иҧа ҧыхьатәи истудент, Хәымса иаб анышә дахьамадоу, аешьратә нышәынҭра зҧшааз, Прохоменко
Данил Николаи-иҧа иакәын. Арҭ аҧсшәа анааибырҳәа
ашьҭахь, аицәажәара иналагеит. Раҧхьа аицәажәара,
абас ахы икит, Иван Иван-иҧа.
– Данил Николаи-иҧа, иугәалашәома, уара уанстудентыз, доусы иахьшәзааигәоу, иҟақәоу аешьаратә
нышәынҭрақәа ҭышәҵаарц, адҵа аншәысҭаз, насгьы
уара ишуҧшааз, лымкаала узышьҭаз Чырықьба Иван
Хынтрыгә-иҧа дахьаныз?
– Ааи, исгәалашәоит, – иҳәеит Данил Николаи-иҧа.
– Убри аибашьҩы иҧа иахьа аинститут дҭаларц
дааины дыҟоуп. Сара Аҧсны сахьынхо, дысгәылоуп.
Ашкол аҿы дасырҧхьон, аҵара бзианы иҵон, дҳәатәхаҵаҩуп. Абжьбатәи акласс инаркны, сара схаҭа, ҷыдала дазыҟасҵон. Аинститут дҭалар, адиплом ҟаҧшь ала
дшалго агәра згоит.
– Ус дыҟазар, ҧышәарадагьы дҳадаҳкылап, – иҳәеит
Данил Николаи-иҧа, дыхәмаршәа.
– Ааи, ус дыҟоуп. Уии сареи ҳаибадырреи ҳаизыҟазаашьеи, акалашәақәа иҟоуп ҳәа Иван Иван-иҧа дналаган, раҧхьа Хәымсеи иареи анеибадыр инаркны,
иахьанӡатәи иҭоурых, зегьы, иеиҳәеит. Данил Николаииҧа хшыҩзышьҭра аҭаны, Иван Иван-иҧа дизыӡырҩуан.
Аҵыхәтәан, ус иҳәеит:
– Иван Иван-иҧа, шәара ҳҵараиурҭа дҭашәҵарц
иаажәгаз, ҳҵараиурҭа ахьӡ ҭызго аӡә иакәхоит, шәара
излашәҳәо ала. Шәара ишәҳәо, хамҵашьа ақәӡам.
Ҳәарада, уи ҳара дҳадаҳкылоит. Ус акәымкәа, акыр дхьысҳазаргьы, ҳара ҳҵараиурҭазы, шәара ишәылшахьоу
азгәаҭаны, шәаҳаҭыр мацараз, дҳадаҳкыларгьы ҟалоит.
Уи аӡәы ҳәа, ҿыц ҳҵараиурҭа иҭалаз ҳастудентцәа дшырхыҧхьаӡалоу жәдыруаз.
Абас акраамҭа иеидтәаланы иеицәажәон Иван Иваниҧеи Данил Николаи-иҧеи.
Иван Иван-иҧа ииҭахыз аниҳәа ашьҭахь, аҧсшәа
иаҳәаны дцарц дҩагылеит.
– Абзиара шәзыҟалааит Данил Николаи-иҧа. сшәықәгәыҕуеит, хатәы иашьа еиҵбык иеиҧш, уаҳа шәасҳәом!
– Абзиараз ҳаиқәшәалааит, ишәҳәаз саҳаит Иван
Иван-иҧа. Уи зынӡакгьы хьаас дҟашәымҵан, ҳаинститут
ахь идкылара сара схы иадысҵоит. Уи сымч ақәхаратәы,
иҟоуп, – иҳәеит Данил Николаи-иҧа. «Дзакәытә
хаҵоузеи? Уи иааҧсара заҟаҩы иҳадузеи? Ас иҟоу
ауаҩы изы иҟоумҵара арбану» – ҳәа дхәыцуан Данил
Николаи-иҧа. Иван Иван-иҧа иахьакәзаалак, џьаргьы
дынкыдымгылаӡакәа, дышиашаз иҩны дааит. Хәымса
шәҟәык кны аҧхьара даҿын. Уи Иван Иван-иҧа игәы
иаахәеит, игәы ааирҕәҕәеит. «Знык аҧышәарақәа рыҭира
аамҭа ааиндаз. Иҟало збанда» – ҳәа уахгьы-ҽынгьы
дхәыцуан Хәымса. Хәымса раҧхьатәи иҧышәарақәа
рыҭира, ицқьаны, жәамш агын. Иван Иван-иҧа иҩны
дыллыбаан, амагазин аҿы днеины, Хәымсеи иареи ирфашаз аахәаны, иманы дшааиуаз, «апочта» дынҭаҧшызар,
теллеграмак ҭан. Уи ателеграмма абас аҳәон:
– Иван, ирласны узааиуазар уааи. Шьақро ҳәа Витиа
иҩызак, Наташа дымҵаирсит… Иаразнак ала, Иван Иваниҧа амцаҧшь ҩеиҿысит. Иван Иван-иҧа иӡбеит Хәымса
ара дааныжьны, иара Аҧсныҟа дцарц. Уи ииӡбаз Хәымса
ицәымӡакәа иеиҳәеит. Хәымса ари ажәабжь аниаҳа, Иван
Иван-иҧа иаҵкьысгьы игәы иалсит. Иагьиӡбеит, Иван
Иван-иҧа дахьцо, иаргьы диццарц. Уи азы Хәымса абас
иҳәеит:
– Иван Иван-иҧа, шәара шәымацара Аҧсныҟа
шәцома? Ииашоуп, ауаа хатәрақәа, «унеишь-уааишь» ҳәа
зарҳәақәо шыжәдыруа, здыруеит, аха саргьы сықәлацәа
издырқәо рацәаҩуп. Убри аҟнытә, ҳаиццар, еиҳа
иеиҕьушәа сгәы иабоит, сшәыҳәоит ҳаиццап ҳаҩџьагьы.
Наташа дымҵадырсны, сара абра тәашьас иҟасҵо
сашәҳәи? Шәара шәахьцо, саргьы сцар сҭахуп.сшәыҳәоит,
шәара шәахьцо, шәыццара мап ацәышәымкын.
– Мап, Хәымса, уара уахь цашьа, умаӡам. Уара арахь
аҵаразы уааит. Уара усс иумоу аҵароуп, - уаҳа акгьы.
Дымҵадырст ахьырҳәо акәымзар, Наташа баша хаҵа
дцозар, уи лзы шьаҿакгьы ҟасҵомызт. Уара ара уҟаз, сара
сцаны иҟоу еилыскаауеит, сҳәатәы хаҵа, Хәымса.
– Аиеи, нас шәҳәатәы хасҵап, аха Шьақро Наташа
дига закәузеи? Уи ҟалашьа амаӡам, - иҳәан илаҕырӡқәа
лхыҳәҳәылеит Хәымса. Иван Иван-иҧа ари аниба, игәы
ҧшаан, Хәымса днаихәаҧшит. «Ари Наташа бзиа дибозар, ҟаларын», – ҳәа ааигәахәит, Иван Иван-иҧа.
– Уара ара уҟаз анысҳәа, иахьысҳәаз уҟаз, сҳәатәы
хаҵа. Уара уаҧхьа аус ду шьҭоуп. Сара аинститут аҿы
сцаны урҽхәаны сааит. Уара аҧышәарақәа раан, сумырҧхашьароуп, – иҳәеит Иван Иван – иҧа, нас дааҳәын,
ииҳәаз иажәақәа аахьаиршшаан, ус иҳәеит:
– Ус сҳәеит, аха изакәхалак, ацхыраара урҭоит,
хылаҧшрада уаанрыжьуам. Сара сзыргәыҕыз, ҩба злоу
уаам. Схы сшақәгәыҕуа, еиҧш, урҭ срықәгәыҕуеит.
Уаргьы саргьы ҳаицәажәеит, уаҳа уасҳәом. Абзиараз, иҳәан дааццакны, ашә дынхыҵын, амардуан даҿаланы
иҿылеихеит Иван Иван-аҧа. Уи данцоз, сызлацоз
ҳәа акгьы Хәымса иеимҳәаӡеит, аха Хәымса ибзианы
идыруан, Иван Иван-иҧа ҳаирпланла аҧырра шиҭахымыз, дагьшацәшәоз. «Ахаан ҳаирпланла сымҧрыцт,
сҧыррангьы сыҟам», – иҳәалон иара. « Уажәгьы ҳаирпланла дҧыруам. Дәыҕбалоуп дышцо, дсызгәааргьы
дсызгәааит, сара ҳаирпланла сыҧрып», – ааигәахәт
Хәымса. Афырҳәа, ишәқәаз имаҭәақәа ааишәихын, маҭәа
ҿыцла иҽааилеиҳәеит, иеимаа ҿыцқәагьы нишьеиҵеит
Хәымса. Аҧенџьырқәеи ашәқәеи цаҧхала иаркны,
ицаҧхақәа иџьаба инҭаҵаны, аҩны дындәылҵит
Хәымса. Уи дшындәылҵыз еиҧш, атакси аанкыланы, дышиашаз аеропорт ахь дцеит. Хәымса аеропорт аҿы дахь-
неиз, аҳаирплан Аҧсныҟа ианҧыруаз еилкааны, акассахь иҿынеихеит. Хәымса уа дахьнеиз Иван Иван-иҧа
аблеҭ амхразы агәаран дгылазшәа аниба, иҽимырбакәа,
ашьшьыҳәа иҽӡаны даагьежьит, нас дахьимбашаз
днатәеит. Иван аблеҭ анамих, дышиашаз, азҧшырҭатә
зал ахь дцеит. Убасҟан, Хәымса днеин, ашьҭахьтәи ареис ицоз далацарц аблеҭ амихит. Уи анҧруаз, адырҩаҽны
шьыжьымҭан асааҭ хәба рзы акәын.
Хәымса Иван Иван-иҧа дибар ҳәа дшәаны, днаҧшы
– ааҧшуа, дыштәаз, ирыларҳәеит Аҧсныҟа ицоз аҳаирплан ақәтәара азин шыҟаз. Уи ашьҭахь, сааҭбжак аҟара
анааҵ, аҳаирплан абжьы рдуны иааган, икәыруа ишнеиуаз, ажәҩан иналалеит. Хәымса дахьтәаз ибон, аҳаирплан ажәҩан агәы иалашьшь ишнеиуаз. Ушьҭа игәы
ааҭынчхеит Хәымса.
Адырҩаҽны Хәымса аҩныҟа дымнеикәа, Аҟәантәи
дышиашаз, таксила Витиа иҿы дааит.
Уи дызхаазгьы ицәымӡакәа Витиа иҿы иҳәеит: Иван
Иван-иҧа Хәымса иаҧхьа амҩа дшықәлаз, иара уа даанхарц шиеиҳәаз, аха иҳәатәы хамҵакәа дшааз, еиликаар дгәаар ҳәа дшәон. Уи азы Хәымса Витиа диҳәеит, иара
дшааз, Иван Иван-иҧа иҿы имҳәарц. Уи дазыразхеит
Витиа.
Витиеи Хәымсеи акраамҭа еидтәаланы иеицәажәон.
Витиа Хәымса иеиҳәеит Наташа лымҵарсразы, ацхыраара ииҭарц, Шьақро иара иҿы дшааиз, аха усҟан, иара
аҩны дшыҟамыз. Усҟан Аҩны иҟаз Марфуша лакәын.
Шьақро Марфуша длызҵааит:
– Витиа аҩны дыҟоума?
– Мап, Витиа аҩны дыҟаӡам, иауҳәози, нан, имаӡамзар,
исоуҳәар ҟамлари?
– Аказы дзымбар ҟаломызт, ааигәа дааирыма?
– Исыздыруам, нан, Шьақро, уи данааиуа, аха данааилак, иасҳәаша ажәа нужьуама?
– Мап, ус ажәа нсыжьӡуам. Дызбар бзиан, аха… Сара
сҩызцәа рахь снаҵаақәап, дызбозар, збап. Дзымбаргьы
уадаҩым, – иҳәан Шьақро данца ашьҭахь, «Шьақро Витиа иеиҳәарызеишь» ҳәа дхәыцуан Марфуша. Ахәылҧаз,
Витиа аҩны данааи ауп, Марфуша ианеилылкаа, Шьақро
иахьа Витиа дызишьҭаз. Витиа аҩны данааи, Марфуша
диазҵааит;
– Нан, Витиа, иахьа, ашьыбжьон лхыҳәҳәоны еиҧш,
Шьақро душьҭаны аҩны дааин, дузҵаауан, «Витиа
дабаҟоу?» ҳәа. «Витиа дахьыҟоу сыздыруам», анысҳәа,
«сҩызцәа рышҟа снаҵаа-ааҵаақәап», - иҳәан агәара
дынҭыҵны дцеит. Уара дубама? – лҳәан Марфуша
лыҷкәын дизҵаан, диҿаҧшуа даагылеит.
– Дызба акәым, дшьызар акәын, Шьақро ихәҭаз, иҳәеит Витиа иҧсы ҧыжәжәо.
– Иуҳәашьоузеи, сыҷкәын, ухы еилагама? Ауаҩы душьыр ҟалома? – лҳәан Марфуша лыҷкәын ҕәҕәала дизгәааны, днаиқәҵәҟьеит.
– Ауаҩы душьыр ҟалом! Ауаҩы иакәым, ақәҷышь ахы
хысымҵәацт. Уи бара ибзианы ибдыруеит. Сара убас
срыцҳашьаҩуп, аха анс иҟоу, дысшьуазаргьы дрыцҳасшьом. Избанзар, уи ашьра ихәҭоуп.
– Шьақрогьы уаргьы шәеиҩызцәоуп. Уахи-ҽни
шәеицуп, пату еиқәышәҵоит ҳәа ауп, шәааигәа иҟоу,
ауаа зегьы, шәшырдыруа. Уажәы, «Шьақро дышьтәуп»
ҳәа угылоуп. Дызхурҟьози Шьақро душьуеит, аха»… Аказы Шьақро уизгәаазаргьы, ус изуҳәар, иашоума? Абас,
абас ауп сызхаузгәааз ҳәа иауҳәар, акәӡами еиҳа еиҕьу?
Усҟан уара агха ухьзаргьы, ииҳәо уаҳар, иухьыз угхагьы
умыриашои? Ус акәӡами, сыҷкәын?
– Сан, уи иҟаиҵаз бдыруазар, сара исҳәаз аҵкьыс
шәынтә еицәоу изыбҳәон. Уи азы исымабымкын, сан.
– Иҟаиҵазеи, Шьақро мыжда? – лҳәан Марфуша,
аҧыхьа еиҧш акәымкәа, лыҷкәын дизгәааны, акыр, лыбжьы ааҭыганы, Витиа иахь лхы нарханы, днаизҵааит.
–
Иҟаиҵахи,
Наташа
дымҵаирст,
иҳәатәы
хазҵоз
иҩызцәақәак
ааидкыланы.
– Ус акәзар, ара дзааизгьы, Наташа лымҵарсразы, уицхраарц иҭахызар акәхарын.
– Ус ауп, нас уаҳа сыззиҭаххараны дыҟази ҳәа бгәы
иаанагози?
– Ус иҟалар, Хәымсагьы уаргьы шәааилихуан. Ус
акәӡами, Витиа?
– Избан. Хәымсагьы саргьы ҳзеилихуааз? Ари аус уа
инеиаанӡа, Шьақро, даҧсырҟәҟәаауан, сиқәымшәеит
акәымзар.
– Иван Иван-иҧеи Хәымсеи аҩны иҟам. Урҭ анааилак, ишҧеилыргои, уара угәанала?
– Урҭ анааилак, ҽеила еилгомызт, аха урҭ иҟарҵашаз
аус ҟаҵоуп. Ушьҭа акыр ҟалап ҳәа шәарак ҟаланы изалшом.
– Уи шҧеилкаатәу, уан дукәыхшоуп, – лҳәан Марфуша
лыҷкәын дизҵааит, ак шыҟаиҵаз ала игәра лзымгакәа,
лыблақәа ҭырхаха, лыҷкәын диҿаҧшуа.
– Ишыҟоу еиҧш.
– Иҟазҵада?
– Сара.
– Диида хса, шьҭа избаауеи?
– Нас Хәымса бзиа иибо, иаҳәшьак леиԥш аҧҳәызба
Шьақро ишибалак, длызныҟәар, сара ианасыжьыр сиашазма? – Иҟауҵазеи, нас уара?
– Иҟасҵаз басҳәап, сан.
– Исаҳәи, иҟауҵаз уан, дукәыхшоуп.
– Ус акәзар, бӡырҩла, – иҳәан иҟаз, шыҟаз еиҧш,
дымццакӡакәа иажәа аҳәара дналагеит Витиа.
– Шьақро иҩызцәа Џьамали Мамукеи рыгәшәымшәа
ҳәаны, иааидикылан, Марусиеи Наташеи Аҟәаҟа аинститут ахь ишцоз, рымҩа ҧҵәаны, Марусиа ашәақь
лылҿакны, лыҧҳа даалымхны дыргеит. Араҟа, бзиарас иҟалаз, Наташа дрыманы иахьнеиз, Хәымсеи сареи
иеицаҳҩызаз иҿоуп Шьақро иҩызцәеи иареи Наташа
дахьнаргаз. Уи иҧшәмеи Шьақрои иеиуацәан, уи азоуп
Наташа уа дызнаргазгьы. Наташа дахьнаргаз аҧшәма
ҟәыҕак иакәын. Аӡҕаб лымҵарсра иаҵанакуаз бзианы
идыруан. Уи азы, Наташа абас длазҵааит:
– Ибҭахны баау, мамзар, мчыла бааргоу?
– Исҭахны саазар, ас сзыршәытазеи? – лҳәан лнапқәа
ашәытарақәа ахьырныз, илацәажәоз аҧшәма илырбеит.
Лан ашәақь лҿакны, лара мчыла дшааргаз лҳәеит.
– Еилкаауп, - иҳәеит илацәажәоз аҧшәма.
Арҭ ас ианеицәажәоз аамҭазы, Наташа дымҵазырсқәаз
ахҩыкгьы, иеицәажәоз раҧхьа игылан.
– Усҟаҟара аҳәара заҭахузеи? Уадак наруҭар, минуҭқәак
рышьҭахь, иҷыгә-ҷыгәӡа иааинаалоит, – иҳәеит Џьамал.
– Џьамал аиаша иҳәеит. Уи ишиҳәаз еиҧш иҟаҵатәуп,
- иҳәан Џьамал ииҳәаз днадгылеит Мамукагьы, адаҕь
еиҧш иҽеиҧсхарчны.
– Ус шәгәы иаанагозар, ус иҟалоит, аха Витиа дақәшаҳаҭхароуп. Уаанӡа шәагьақәымгәыҕын, – иҳәан аҧшәма
Наташа дналалацәҟәит.
Наташа ҩнуҵаҟала лыҧсы аалылалеит, аха илынлмырҧшит, лылақәақәа еимархәаланы, дышгылац дгылан.
– Ас ишыҟалоз сара издыруан аҟнытә, ари аус напы
анаҳаркуаз, Витиа иҩны снеит, аха дсықәымшәеит.
Дсықәшәар, зегь мариахон, аха... – иҳәан, аҧшәма
дниҿаҧшын, Шьақро иажәа инациҵахт:
– Уи иаагарагьы уамак аҭаххарым, Џьамали Мамукеи шәнапы ианысҵоит, – иҳәан Шьақро инарыдиҵеит.
Шьақро иҟнытә, арҭ ас шаараҳаз еиҧш, иҩагыланы
ицеит. Сара аҩны сааимҭеи, дара сыҩны рнеимҭеи
еиқәшәеит. Иҟаз, шыҟаз, изхааз, уҳәа зегьы, аиаша
рҳәеит. «Ҳара даҳтәуп» - ҳәа исықәгәыҕны. «Ус акәзар,
шәаала, нас», – сҳәан Џьамали Мамукеи срыцны сцеит.
Сахьнеиз, аҧшәма ииҳәарыз изымдыруа дсыхәаҧшуан.
Шьақро дгәырҕьаҵәа дгылан. Ауада сшыныҩналаз еиҧш,
«сҿыхҩы дааит», – иҳәан Шьақро даасалацәҟәит. Ари Наташа илбазар акәхап, дқьызқьызуа аҵәуара дналагеит.
Сара уи сахьлыхәаҧшуаз, гәаныла илҳәозшәа саҳауан:
«Срыцҳауп, усыцхраа, уара уансыцымхраа, уаҳа исыцхраауада?» – ҳәа.
– Ара аҵәуара аҭахӡам. Ара сара сааизар, шәеилысхырц
смааит. Шәеидысныҳәаларц ауп сшааиз. Иҟалозар, зны
шәындәылҵқәа, аҭаца сара схала сналацәажәар сҭахуп,
сҳәан Шьақро иҩызцәагьы иаргьы снаралацәҟәит. «Ари
ҳара даҳтәуп», – рҳәан индәылҵит Шьақро иҩызцәагьы
иаргьы.
– Шәаргьы шәындәылҵ, сара схала Наташа слацәажәоит сҳәахт аҧшәмацәеи «ҭацабара» ҳәа иааиз
агәылацәеи адәахьы ицарц, нарыдысҵеит. Исҳәаз сажәа
ҩбамтәӡакәа, урҭгьы ндәылҵит. Зегьы анындәылҵ
ашьҭахь, сара Наташа лызҵаара сналагеит. Раҧхьа Наташа абас слызҵааит:
– Наташа, зныкыр Шьақро дбацәажәахьазма, абзиабара аҵыхәала?
– Уажәы ааигәа зны, Хәымсараа рҿы сыҟаны, аҩныҟа
сшаауаз, дызлааиз ҳәа акгьы сымбаӡакәа, саҧхьа даакылсын, «бзиа бызбоит, бсыццароуп», – иҳәеит
– Усҟан, бара иабҳәазеи дбыргәыҕма? – сҵааит сара.
– Бзиа субартә еиҧш, сабаудыруеи? – сҳәеит сара.
– Уаҳа џьаргьы дбымбаӡацзи?
– Хәымсараа рҿы ҽнак дызбеит, аха усҟан ажәакгьы
еибаҳамҳәеит.
– Ажәакгьы иеибышәымҳәацзааит, аха ус бзиа дыббазар?
– Ус бзиа дызбазар, арҭ сажәақәа иуасҳәақәо уасҳәозма? Насгьы бзиа ибашьас исымоузеи иҧсы ҭасгьы
исзымдыруа ауаҩы.
– Абарҭ ибҳәақәаз рыда, уаҳа ажәакгьы шәыбжьаӡами?
Ма қьаҕьариак дбаирцәажәахьазар.
– Абарҭ исҳәақәаз рыда, уаҳа ажәакгьы ҳабжьам иаргьы саргьы. Иара убас қьаҕьариакгьы дсеимырцәажәацт.
Абас, Наташеи сареи ҳаицәажәара ашьҭахь, Наташа уаҳа сылзымҵаакәа, ашә аартны, асоф саақәгылан,
адәахьы сыбжьы насыргеит:
– Шьақро ирласны аранӡа уҩеи. Усҟан, агәара агәҭа
иқәгылан агәылацәеи аҧшәмацәеи. Аҩны аган ахь ала
даавҵын Шьақро акәасқьа дҩыхәнеит:
– Шьақро, ииашоума, Наташагьы уаргьы ҩынтә
ҳаиқәшәахьан ҳәа илҳәо?
– Ааи, ииашоуп.
– Раҧхьа шәанеиқәшәа, дубеит ауп, уаҳа ажәакгьы
иеибышәымҳәеит. Ус аума?
– Ааи, ус ауп.
– Ашьҭахь, лымҩа кны, «бзиа бызбоит», бсыцца ҳәа
лоуҳәама?
– Ааи, иласҳәеит.
– Уи ашьҭахь, лымҩа кны, лан дышлыцыз, лан ашәақь
лҿакны, длымхны дааугеит. Ус аума?
– Ааи, ус ауп.
– Бара бахьааиз, баангылар бҭахума? – сҳәеит Наташа
схы налықәкны.
– Аҩныҟа сымгакәа, ара санаанужь, сҽысшьуеит,
–лҳәан Наташа дқьыз-қьызуа аҵәыуара далагеит.
– Илҳәо уаҳауама, Шьақро? – сҳәан Шьақро иахь схы
насырхеит:
– Исаҳауеит, аха…
– Уаҳа ажәак ануҳәа, уаргьы саргьы иҳаибарбап,
удәылҵ, уажәыҵәҟьа, – сҳәан Шьақро дындәылысцеит.
Сара Наташа лыжәҩа ааныскылан, игылақәаз «абзиараз» ҳәа рамҳәаӡакәа, агәара ҳанҭыҵын, амҩа ҳаныланы
ҳҿынаҳхеит.
Ҩышәҟа метра ҳнеиаанӡа, Шьақро иҩызцәеи иареи
ҩҳахьӡан:
– Сыҧҳәыс дсуҭароуп, – иҳәан дааины даасҿагылеит
Шьақро. Џьамали Мамукеи, наҟ-ааҟ иаасывагылт.
Убасҟан, Наташа схы налықәыскын:
– Наташа, бымшәакәа аиаша ҳәа, арҭ брыццар,
бҭахума? – сҳәан слызҵааит.
– Мамоу, Витиа, – лҳәеит лара.
– Ус акәзар, сыжәҩа ахьыбку иааужь, – сҳәан сҽаалымжәааны, Шьақро саниҿас, дышьҭҟьаны, дцаны, деизҟьа
дкаҳаит. Џьамали Мамукеи анаасыдыххыла, урҭгьы акака рысҭеит. Уи аамҭазы, аҧшәма иҷкәын имашьынала
дыҩҳахьӡан:
– Смашьына шәақәтәа, – иҳәан ибжьы ааиргеит. Уи
ииҳәаз хаҵаны, ҳара ҳнеин, зышә ааиртыз, имашьына
ҳанҭалеит. Амашьына ҳшынҭалаз еиҧш, аҿынанахеит.
Убасҟан, аныҟәцаҩ ахышә ихы аакылирҳәҳәан, ибжьы
рдуны ҿааиҭит:
– Саанӡа ара шәыҟаз, уаҳа џьаргьы шәымцан. Сара
сшааилак еиҧш, шәаргьы шәыҩныҟақәа шәызгоит.
Убасҟан, саргьы ахышә схы нкылырҳәҳәаны, уахь
снаҧшит. Шьақро амҩа дахьаныжьлаз, Џьамалгьы Мамукагьы неины, деимакы-еиҿакны даашьҭырхын,
нымҩахыҵ, ашьацраҿы днаганы, днышьҭарҵеит. Ҳара
ҳнеиуан, ус ҿымҭӡакәа. Ҳашҩеиуаз Иван Иван-иҧа
игәашә ҳнадгылеит.
– Ара уаангыл, ароуп, Наташа дахьынхо, – сҳәан,
аныҟәцаҩ сниҿаҧшын, сыбжьы наиқәсыргеит. Сара
сажәа ҩбамтәӡакәа, аныҟәцаҩ амашьына ааникылан,
ҳаллыбааит Наташеи сареи.
– Абзиара узыҟалааит, арҭ ирыхәҭаз иақәуршәеит.
Анс-арс ҳәа акы рҳәо иалагар, ҳара уара ҳудгылоит, иҳәан дцеит. Ҳара амашьына ҳанынлыбаа, сыбжьы насыргеит Иван Иван-иҧа иахь:
– О, Иван, Иван-иԥа аҩны уҟоума?
– Ааи, аҩны сыҟоуп, ҿызҭуа уарбану?
– Аҩны уҟазар, алақәа ҳдумыркын, Витиа соуп изҳәо,
Наташа дсыцуп, – сҳәеит.
Ишаабоз, Иван Иван-иҧа иҩны дааҩныҵын, ила
ахьҿаҳәаз днеины, адаҷ иахаршәыз ааникылан, иркьаҿны
иааҿеиҳәеит. Нас абжьы ахьгоз, ала иҿынеихеит. Иван
Иван-иҧа дызлаиуаз ала, иниҧылеит Витиагьы Наташагьы. Урҭ шынеиҧылаз еиҧш, Наташа лаб иахь лхы
налырхан, лыбжьы рдуны ҿаалҭит:
– Саб, сара исыцу, Хәымса иҩыза Витиа иоуп. Уи сара
сеиқәырхаҩ иоуп. Иара деилымкаакәа акы иоумҳәан,
суҳәоит.
– Сара избалак срабашьуа џьыбшьома, Наташа, иҳәан Иван Иван-иҧа иҧҳа дааигәыдиҳәҳәалеит, нас
иҧшәма лахь ибжьы наиргеит:
– Марусиа, ара бааи, иааз дыббап.
Арҭ реицәажәабжь лаҳаны дааит Марусиа. Марусиеи
Наташеи акраамҭа рнапқәа еикәыршаны, иҵәыуо, игылан. Иван Иван-иҧа аҩныҟа снеигарц, дсыҳәеит, аха
сара изымуит, уахь сымнеикәа, сгьежьны сааит. Иан
ишлеиҳәахьаз еиҧш, ари ажәабжь Витиа Хәымсагьы
иеиҳәеит. Нас Хәымса аҩныҟа днеигарц диҳәеит,
аха Хәымса имукәа, Витиа «иҭабуп» ҳәа наиаҳәаны,
аҩныҟа дцеит. Витиагьы аҩныҟа длеит. Ҵхагәҭаны
Хәымса игәашә аартны иашҭа дынҭалеит. Агәашә абжьы анаалаҳа, Маниа дҩагылан, лхалаҭ аалышәҵаны,
ахышә дынкылыҧшит. Алашьцара даалылбааит Маниа
лыҷкәын. Ашә аартны, лыҷкәын днеиҧылеит Маниа.
Ани ҧеи анааидгыла иаагәыдибакылеит.
– Наташа дшымҵадырсыз, уаҳаны уаама, нан? Уаар
ануҭахыз, Иван Иван-иҧа данаауаз, уаргьы уицны умаауаз, - лҳәеит Маниа Хәымса Иван Иван – иҧа дицны, дахьымааз, лгәы ишнанамгаз лыҷкәын иеиликаартә еиҧш,
аха иара ҿимҭӡеит.
– Амла уакны уҟазар акәхап, - лҳәан Маниа лыҷкәын
ихәы аацәырылган, астол инықәлыргылт. Хәымса инапы
ӡәӡәаны дааин, астол днахатәан, акрыфара дналагеит.
– Хәымса акранифа ашьҭахь, дцаны диеит. Иан цәажәарҭахәыс дылкыр, Наташа бзиа дшибоз, иҵылхыр ҳәа
дшәазар акәхап. Маниагьы лыҷкәын уаҳа цәажәарҭахәыс
дымкӡакәа, дцан лиарҭаҿы днышьҭалеит. Маниа дахьиаз, дхәыцуан. «Иван Иван-иҧа иҧҳәыси иареи сыҷкәын ицәнымхо ишьҭоуп, аибашьраан иҭахаз ҳаҷкәын
диеиҧшуп ҳәа. Уи иааигәара иҟазар рҭахуп. Изларҳәо
ала, уи азоуп, дара еиҳаракгьы арахь иаханы раарагьы
зыхҟьаз. Марусиа исалҳәахьеит «быҷкәыни сыҧҳаи
еиқәнагоит, еибыҭазар иҟалои», ҳәа. Усгьы, уи илҳәо Иван
Иван-иҧагьы мап ацәызкуа иакәым. Урҭ ас ахьырҳәо
Хәымсеи Наташеи ирмаҳацкәа иҟоума? Ма рани раби
ргәаанагарақәа, дара рцәа иаламшәаӡои, цәаныррак уаҳа
ирымаӡами?
Издыруада, дара бзиа иеибабозар? Аха сара дсыцәшәаны, Наташа бзиа дшибо, имҳәозар, сыҷкәын?
Ҳазҭало ҳҵарақәа ҳрылгап, нас хаҵеи ҧҳәыси ҳәа
ҳаибагап ҳәа ргәиҭазар. Ус акәымзар, Иван Иван-иҧа
ателеграмма аниоуз, Наташа дымҵадырсит ҳәа, «Уара
уҧышәарақәа уҽырзыҟаҵала» ҳәа дилабжьаны данаанижь, иара дишьҭаланы дызхаазеи, Хәымса. Ҳәарада,
Хәымсеи Наташеи бзиа еибабоит. Уи Иван Иван-иҧеи
Марусиеи ирзымдыруазаргьы, ираҳар, мап ахызҳәаауа
ракәӡам. Нас сара соума, уи мап ахызҳәаауа, зыҷкәын
иразҟы иаҧырхагахо? «Быҷкәыни сыҧҳаи еиқәнагоуп,
иеибаҳҭап» ҳәа Марусиа иансалҳәа, «Арҭ иашьеи
иаҳәшьеи роуп, сыҷкәын иаҳәшьа дышҧеиго» - ҳәа Марусиа ишҧаласҳәоз? Сара қәнагала издыруеит, Наташа
Хәымса дигозар, Марусиеи Иван Иван-иҧеи, мап шырымкуа, аха урҭ исызраҳәом. Амала, Марусиа, ҧыхьа
зны, сара изсалҳәаз еиҧш, даҽазны иаалыҿшәаны
исаҳар, мап скуамызт, саргьы уи сынлыдгыланы, ацхыраара рысҭон», – ҳәа дышхәыцуаз ацәа дынҭанагалеит
Маниа.
а
тәи ахы
Маниа ашьыжь шаанӡа дҩагылан, лыжәқәа хьаны
инҭылцан, аҳәарақәа ахкаара инҭалҵеит. Нас лара аҩны
дааит. Маниа аҩны данааи, амра акыр иҩеихьан. Ахьурӡы
ахнышьра инкналҳан, абысҭа луит. Усҟан, Хәымса дгыланы, анапырӡәӡәага даҵагыланы иҿи инапи рыӡәӡәара
даҿын. Хәымса иҿи инапи шиӡәӡәоз Маниа ианылба, абысҭа аилырхра дналагеит. Абысҭа ааиллырхын,
ачанахқәа инырнылҵан, астол инықәлыргылеит, ацыфақәагьы чанахла уа инавалыргылеит.
– Хәымса, уан дукәыхшоуп, абысҭа нысҵеит, акы
ҳнацҳап, уааи, арахь, – лҳәан Хәымса иахь лыбжьы налыргеит Маниа.
– Ибзиоуп, сан, снеиуеит, – иҳәан инапқәа аарбаны,
Хәымса иан лыбжьы злагаз, амаҵурҭахь ихы наирхан,
иҿынеихеит. Рыҩџьагьы астол илахатәан, акрыфаны
иҩагылеит.
– Шьыри, уажәы, ҳчанахқәа ааилзыргаша ҭацак
дзыҧсоузеи? – лҳәеит Маниа. Хәымса ҧҳәыс димазарц шылҭахыз илырдырырц. Маниа илҳәаз Хәымса
имаҳазшәа ҟаиҵеит, аха ишиаҳаз, ҩнуҵаҟалагьы, игәы
ишаахәаз, ихаҿы ианыҧшуан. «Ҧҳәыс даазгар, акгьы
лымҳәозар акәхап», – игәы иааҭашәеит Хәымса.
– Илақәа ааҭихааит Шьақро ҳәа Витиа игәыла. Аҭыҧҳа
хазына, зани заби напымыӡәӡәа ирымкуа, илыхӡыӡаауа
ирымоу рыҧҳа заҵә, игәаҕьны дышҧамҵаирсуаз?
Бзиашәа, разҟ бзиас илоуз, Шьақро иҭынхацәа рҿы дахьнаргаз, ламыс змаз џьоукы ракәзаарын. Дара реиҧш, Витиагьы иуацәан. Витиеи ҳареи ҳшеизыҟази, Наташа ҳара
ҳшылзыҟази бзианы дара ирдыруан. Арҭ аҧшәмацәа ирдыруан, уара аҵарахьы, Ростовҟа ушыҟаз. Убри аҟнытә,
ари аҭаацәара аиҳабы ҳәа ирымаз, арҵәааҳәа дыҳәҳәо
дықәгылеит: «Ирласны шәцаны, Витиа даажәга, уи ииҳәо
ҳмаҳакәа аӡәгьы лааигәара шәааира азин шәысҭаӡом»,
– иҳәан, Наташа иашьара лзуны дгылеит. Витиа иахь
Шьақро иҩызцәа рышьҭын, дааргеит. Витиа Наташа
данлацәажәа, ашәытарақәа илныз анилырба, зхаҵкы
сцаша, Витиа, ииулак, дыриааины, дрылиган, ауха, лаб
иҿы дааганы, дынижьит. Уи ус зыҟаиҵаз, уара пату
ахьлықәуҵоз азоуп. Сыҷкәын, нан, уара иудыруазааит,
Витиа уара дуашьаҵәҟьоуп, - лҳәан ирҽхәара далагеит
Маниа. Маниа илымҳәац џьшьаны, уажәы-уажәы, аҳәара
даҿын.
– Сан, уи сара исаҳахьеит. Сара Ростовынтә санаа,
иҟаз, шыҟаз, зегьы Витиа исеиҳәеит. Наташа уа даагылар, шылҭахымыз, Витиа ианеиликаа, дрылганы данига,
Шьақро иҩызцәеи иареи ишьҭалеит.
Витиеи дареи аисра ишаҿыз, бзиашәа аҧшәма ҷкәын
машьынала дрылигеит, акәымзар, Витиа Наташа лымша-
ла дызқәшәашазгьы анцәа идыррын. Шьақро иҩызцәеи
иареи аус иаҭаны иҭактәуп. Уажәы, сара Иван Иван-иҧеи
Марусиеи рахь сцап, срацәажәоит, – иҳәеит Хәымса.
– Иууеи, Хәымса, иуҳәашьоузеи? Аҭыҧҳа цқьа ахьӡ
луҭома? Лани лаби уцырхырааны? Ауаа ирылашәымҵан,
Наташа дымҵадырсит ҳәа. Аус злаз, лара дыцқьаны
дааит. Дзымҵадырсызгьы уаҩы издыруам. Дрыцҳауп
Наташа, ахьӡ лышәымҭан. Дызмилаҭзаалак, дзымгара дарбан, Наташа? Ирацәаҩым, нан, Хәымса Наташа леиҧш, иҟоу аҭыҧҳацәа. Лыҧшра, лсахьа, лан,
лаб. Аҷҷаҳәа лхатәы бызшәеи аҧсшәеи лҳәо. Аҧсуаа
рхәыҷқәа, аҧсшәа длырҵарц, арҵаҩ ҵара дҭаларц
лгәы иҭаны. Ас еиҧш, ахазына, цәашьыркыла ауаҩы
длышьҭазаргьы дизыҧшаауам. Ибаргәузеи, уи дызгаз
арҧыс? Ирыбаргәузеи уи дызланагалаз аҭаацәара?
Иван иҿы унеиуазаргьы дара гәааны, акы рҳәозаргьы,
уара «шәмашшын, ашшра аҭахым, шәашшыр, шәыҧҳа
лыпату хышәҽуеит» ҳәа роуҳәароуп, нан… Хәымса иан
илҳәаз ажәакгьы изахымҳәааит. Избанзар, Хәымса иан
илҳәаз, – иашан. Иашшыр, иҭаркуан Шьақро иҩызцәеи
иареи. Аха лара дшымҵадырсыз ауаа ирылаҵәон. Маниа ишылҳәаз еиҧш, аҭыҧҳа лаҳаҭыр ланарҟәуан. Сара
сҩеип, аха Иван Иван-иҧа дсацәҳашт. «Аҧышәарақәа
уҽырзыҟаҵала», – ҳәа сеиҳәан, иҳәатәы хамҵакәа,
сишьҭаланы сааит. «Дсацәҳаргьы исычҳап, исхароу дырны», – иҳәан гәаныла, Хәымса иан дналҧырҵны дцеит. «Сыҧсыхгьы абни ҭацас дсымандаз», – аалгәахәын,
Маниа дааҳәны, лыҩны длыҩналеит. Хәымса Иван
Иван-иҧа игәара даныҩҭала ала ахьҿаҳәаз, ахыу ҳәа
иааҵҟьеит, иааиз дазеилымкааӡакәа. «Узҿу закәзеи,
Бобик сузеилымкааӡеи», – ҳәа аниҳәа, «саҭоумҵан,
Хәымса, уахьзеилымкааз», аҳәозшәа, иҵызуа, Хәымса
инеиҧылан, игәыдҧало, азхара дазымбо, иахәмарра иалагеит. Хәымса инапы Бобик ахы инықәишьын, иааишьышьит. Иаргьы дахьабаз иеигәырҕьаны, игәыдҧаланы
иеишуа иалагеит.
– Ари, ашышьа зеиҧшроу ала, иадыруа аӡәы дабеит,
дарбанушь? – иҳәан Иван Иван-иҧа иҩны дааҩныҵын,
иара иахь иҿааихеит.
– Хәымса, уабаҟаз арахь? Уара уҳәатәхаҵаҩымзаап,
сара ҽеишәа усыздыруамызт, акәымзар. Ус аума уаргьы
саргьы Ростов ҳаныҟаз ишеибаҳҳәаз, «аи, аи, аи», – иҳәан
Иван Иван-иҧа Хәымса днеиҧылеит. Урҭ рыҩџьагьы
анааиҧыла, Иван Иван-иҧа инапы аҿааирхан, Хәымса
инапы ааимихит. Нас иҩызак иеиҧш, Иван Иваниҧа, Хәымса ижәҩа инапы наҵихын, аҩныҟа диманы
иҿынеихеит.
– Саҭашәымҵан Иван Иван-иҧа. Ишәҳәаз ауп, - сҳәан
усҟан,Ростов саангылеит, аха цқьа санхәыц,сахьаангылаз,
сышиашамыз еилыскаан, сшәышьҭаланы сааит. Шәара
шәаазгоз аҳаирплан сагхеит, аха уи ашьҭахь иаауаз аҿы
аблеҭ амысхын, салааит. Абас ала сшәышьҭаланы сааит.
Иван Иван-иҧа шәҳәатәы ахьхасымҵаз, саҭа-шәымҵан,
аха смаар, сыламыс иамуит. Ашәҟәқәа сзыҧхьоз
сызрызхәыцуамызт. Сара сзызхәыцуаз, Наташа лакәын.
«Иван Иван-иҧа дсызгәааргьы, дсызгәааит», – сҳәан
амҩа сықәлеит, Наташа илыхәара, џьара акы сзыҟаҵозар,
– сҳәан. Аҳаирплан саныллыбаа, таксик аанкыланы, сышиашаз, Витиа иҩны сынкыдгылеит. Уи исеиҳәеит Наташа дзықәшәаз, дахьнаргаз, дрымхны дшааигаз. Иван
Иван-иҧеи Хәымсеи аҩны иахьыныҩналаз итәан Марусиеи Наташеи. Марусиа раҧхьа, дгәыдкыланы аҧсшәа
леиҳәеит Хәымса. Нас Хәымса дааҳәын, Наташа лахь инапы наирххеит, аха Наташа Хәымса инапы имымхӡакәа,
дқьызқьызуа, лылаҕырӡқәа лҿашы, лыҽлызнымкылакәа,
лҽынеигәыджьылан, ихәда лҽахажьны, даагылеит.
Иара ииҳәара изымдыруа, Иван Иван-иҧеи Марусиеи
дырцәыҧхашьаны дгылан. Иван Иван-иҧеи Марусиеи
урҭ рыцҳашьаны ирыхәаҧшуан.
Акранҵы ашьҭахь, иааидыҵит Хәымсеи Наташеи.
Урҭ анеидыҵгьы Наташа дгәынқьуа, аҵәыуара даҿын.
Хәымсагьы Наташа даарыцҳаишьан, илаҕырӡқәа
лиҿашит, аха ҿымҭӡакәа дгылан. Убри аамҭазы, Иван
Иван-иҧа днеин, иҧҳа лхы днагәӡын, лыгәшәымшәа
иҳәо далагеит. Марусиа лгәы еиқәышьшьы дахьгылаз,
даацәажәан:
– Бымҵәыуан, Наташа, бшьа азакәан иауеит. Уаҵәы ашьыжь ҳцаны, амилициа аначальник ихьӡ ала
ашшыҧхьыӡ ааҩуеит. Ашаҳаҭцәа бмоур ҳәа бшәоу? Урҭ
мап кышьа рымаӡам. Нас еиқәырхха ианҭарклак, ибзиазар рбап, урҭ ақәыџьмақәа, - лҳәеит Марусиа дахьгылаз,
лыҧсахы ҧыжәжәо.
– Бан илҳәо бмаҳаи, бара бшьа азакәан иауеит. Бгәы
рҭынч, сылашара сыҧҳа, – иҳәеит Иван Иван-иҧагьы.
– Саҭашәымҵан, аха шәара ишәҳәо иашам. Ашшра
ҳәа шәара ишәҳәо. Зынӡак иаҭахны иҟаӡам. Ҳашшыр,
еиҳа еицәоуп. Избанзар, ауаа ирылаҵәоит, «Наташа
дымҵадырсит», – ҳәа. Сара изураны исыхәҭаз, Наташа
лшьа иуит, сҩыза, иашьак иеиҧш исыҧхьаӡо Витиа.
Ҳара ушьҭа урҭ ҳрышьҭам. Абас иҟоуп сара сгәаанагара,
шәара шәгәаанагара шыҟоу сыздыруам, аха…
– Сара сгәаанагара шыҟоу, минуҭқәак раҧхьа ишыҟаз
ауп, маҷӡакгьы ацәхьаҵшьа ҳамаӡам. Наташа иахьа дганы аҳақьымцәа дыдҳарбар акәын, аха иуадаҩым. Уаҵәы
акәым, даҽа мчыбжьыкгьы ирныҵуам, уи лнапқәа,
лыварақәа, лхы-лҿы уҳәа ирынқәоу ашәытарақәа.
Хымҧада, урҭ ҭактәуп, иҭамккәа ианоужьха, даара
ишәарҭоу уаауп. Мамзар, Наташа Аҟәаҟа данцало, данаало, илзыруа здыруада? Урҭ рымшала, бзиа ибаны
дызҭаларц илҭаху дҭамҵакәа даанҳажьрыма? Мап, уи
лшашьа амаӡам.
– Баагыли, зны? Хәымса ииҳәаз азхәыцра аҭахуп.
қәрала аиҳабра акәӡам ара аус злоу, аҟәыҕарагьы шыҟоу
аадыруазароуп. Ҳара акыр еилаҳкаауазаргьы, еилкаарас
иҳамоу, урыс еилкаароуп. Иарбанзаалак уск ҳанақәшәо,
«азакәан» ҳҳәоит. «Азакәан» шаҳҳәо, ҳара ҳиаша, аҳәынҵәа ианыларкәаҳауа ыҟоуп. Кавказаа рзакәан, лымкаала
аҧсуаа рзакәан ус иҟам. Уи зынӡак ихазуп. Аиаша аа-
дыруазар, аҧсуаҵас Наташа лшьа ууп. Нас изаҳҭахузеи,
еснагь, ҳааҟәымҵӡакәа ашьоурақәа. Наташа дымҵарсны
дахьнаргаз, аҧшәма бзиа длықәымшәакәа , дназгаз лцәа
ҧиҽзар, усҟантәи ашьоура хазхон, аха Наташа ус акгьы
лмыхьӡеит. Шәааи, нас ихаҳмырҟьацәап. Хәымса ииҳәаз
ҳадгылап, Марусиа, - иҳәан Марусиа лахь днаҧшит Иван
Иван-иҧа.
– Бара бгәы ишҧаанагои, Наташа? Хәымса иҩыза Витиа, бара бымҵазырсыз ирзиуз рызхома? Мамзар, иҵегь
ашьоура ҳахәҭоума? Бара ибыхьыз, бара ибдыруеит,
даҽаӡәы иабеидыруеи? – лҳәеит Марусиа.
– Сара мчыла сыргеит. Сыҽрымызжәарц сҽахьысҟьоз
ашәытарақәа рацәаны иснырҵеит акәымзар, уаҳа акгьы смыхьит. Хәымса ишиҳәаз еиҧш, иаанаҳкылап ари
аус. «Наташа дымҵадырсит» ҳәа ауаа исзырҳәо иҟалар,
сара зынӡак исҭахым, иҧхасшьоит. Аус ҟалааит Хәымса
ишиҳәаз еиҧш, - лҳәан дрыцҳаишьартә еиҧш Хәымса
днеиҿаҧшит Наташа.
– Ус ауп, ус. Ари аус даҽак ала азныҟәара сара сазыразым, даҽа мҩакы аманы иҟаӡам, - иҳәан раҧхьа ииҳәаз
иаҿаршәны икит Хәымса.
– Ушьҭа аҵыхәа ҧаҳҵәап ари азҵаара алацәажәара.
Ҳаиасып даҽа зҵаарак ахь, – иҳәеит Иван Иван-иҧа.
– Иарбан зҵаароу, нас ҳара ҳахьиасуа? – лҳәеит Марусиа.
– Аҵара аус ахь, уаҳа ҳара иаҳаӡбози? Наташа Аҟәа
аинститут дҭалар, Шьақро длыцрымҵыр, ишҧаауеи,
усҟан – лгәы иҵхоз азҵаара даламцәажәакәа, дзавымсит
Марусиа.
– Ушьҭа уаҳа Шьақро Наташа длышьҭалап ҳәа сгәы
иаанагом, – иҳәеит Иван Иван-иҧа.
– Ари азҵаара аартны иааныжьзааит, - иҳәеит Хәымса,
нас даацәажәан, иажәа инациҵахт.
– Шәара шәхала ишәыӡба, ушьҭа сара аҩныҟа сцап, иҳәан аҩныҟа иҿынеихеит Хәымса.
– Наташа, Хәымса днаскьагеи, - лҳәеит Марусиа.
Хәымса аҩныҟа дцаразы, иҿанынеиха, Наташагьы Хәымса дишьҭаланы дындәылҵит. Арҭ рыҩџьагьы агәара
абжакы инеиуаны еиҧш:
– Наташа ара баангыл. Сара ибасҳәаша рацәаны исымоуп, аха уажәтәила, ҳара иаҳҭаху ара иаҳҳәартә еиҧш
аҭагылазаашьа ҳамам, ишаҳҭаху ҳзеицәажәом. Бааи,
ҳаиқәшәап, зегьы аныцәалак, уаҩы ҳанимбо аамҭазы,
абас асааҭ хҧа реиҧш.
– Ҳабеиқәшәои, Хәымса, асааҭ хҧа рзы? – лҳәеит Наташа лгәы ҭӡыӡаауа.
– Абна, наҟтәирахь, ахәырма ду аҵаҟа. Уа еиҳа
иҧхьакырҭоуп, аӡәгьы ҳаибаӡом.
– Ибзиоуп, Хәымса, асааҭ хҧа рзы, уа сыҟоуп.
Убасҟан, Хәымса иҽизнымкылазт, Наташа лқьышә
днагәӡны, дааҳәны, иҩныҟа иҿынеихеит. Наташа дахьгылаз, ҵәҩанҵас дарсызшәа акраамҭа дгылан, нас

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.