LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
Süzlärneñ gomumi sanı 3561
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1880
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иван, Маниа илҳәаз уаҳау?
- Ааи, исаҳаит, уи ауп, уажәы, сзызхәыцуа, Маниа
ианылҳәа, хырҩаа азызымузт, аха…
- Нас, уажәы ушҧазхәыцуа?
- Иаахәазар, цәгьамызт. Тәанчара ҳанцо азы, уи еиҧш,
ҧсшьарҭа убарым.
– Ақалақь аҿы, шықәсык унеираны уҟазар, ара, усгьы, жәашықәса, уеиҳамхозар, уеиҵахом. Амала, ара,
аҧсҭазаара ззыцәгьоу аколнхаҩцәа роуп. Урҭ амала аус
руеит.
– Ааи, изҵымҵуа аплан рықәми, иҟарҵо аус, ахә, ма
ироуанда?
– Ҳара аус ахьаауа, ҳуалфахәы цәгьам, аха ҳтәанчара
аамҭа ааигәахәеит. Ара аус аауазар, ҳтәанчахәи, ҳуалфахәи неицаҳҵар, ишаҳҭаху ҳаҟазаауеит.
– Уи иашоуп, аха ақыҭа аиҳабыра арҵаҩы-атәанчаҩы
дырҭаххару?
– Уи иашоуп. Арҵаҩы рҳәеит, аха аҿарацәа ракәхап
изышьҭоу.
– Ааи, аха еилаҳкаап.
– Еилаҳкаап.
– Шьҭа ҳацәап.
– Ҳацәап.
Аухатәила, ари азҵаара уаҳа иаламцәажәеит. Адырҩаҽны, анааша, Марусиеи Ивани акы инацҳаны, «хәылҧазынӡа ҳзааӡуам», ҳәа наҳәаны, иныҵҵны ицеит. Урҭ
ишырҳәаз еиҧш, ахәылҧаз ауп ианааи.
Ауха акрыфаны, ианалга, Марусиа иаалгәалашәеит,
иаха Маниа дызлацәажәоз азҵаара, насгьы дара анышьҭала ашьҭахь, лхаҵеи лареи уи иазхәыцны, иаархәарц
азы акыр ишеицәажәоз, лҳәеит. Ажәак ала, дара ари
аҭыҧ аархәар, цәгьа ишырымбо, аха ишырзымҳәоз, цқьа
иахьазымхәыцыз иахҟьаны.
– Уи шәара иаашәхәар шәҭахызар,ақыҭа аиҳабыра
мап рҳәом, аха изтәу лоуп аус злоу. Уи дахьынхогьы,
рацәак ихараӡам, ҽнак ала слацәажәаны, илҳәо аҭак аагара сылшоит, – лҳәеит Маниа.
– Угәы иаанагои. Маниа дҳашьҭрыма аҩны аҧшәма
лахь? – лҳәеит Марусиа, Иван иахь лхы налырхан.
– Ибзиоуп, дцааит, нас илҳәо ҳаҳап, - аҭак ҟаиҵеит
Иван.
– Уаҵәы аашар, сырахә ааилырганы,уахь сцоит,
илҳәо аиаша еилкааны саауеит. «Шьыри», абра инхошәа
иҟандаз» ҳәа гәаныла даахәыцит. Нас Марусиеи Ивани,
ара инхозшәа аалыҧхьаӡан, даагәырҕьеит Маниа. Лара
ишылҳәаз еиҧш, адырҩаҿны ашьыжь лырахә ааиллырган, иахьылҳәаз дцеит. Шьашькәеи лареи иеицәажәеит.
Маниа Марусиеи Ивани рҽхәаны рҭоурых Шьашькәа
ианлалҳәа, уи лгәы ааҟәандахан, даацәажәеит:
– Уаа бзиақәак, уи аҭыҧ иақәшәар сара уаҳа исҭахызеи,
сашьа дыҟоушәа сымҧхьаӡози?
– Урҭи сареи ҳаибадыруеижьҭеи, шьҭа акрааҵуеит.
Сара сҿы есышықәса ҧсшьара ҳәа иаауеит. Уаҳа
назҭахым уаауп. Урҭ реиҧш аламыс змоу, џьара аӡәгьы
дыҟоуп ҳәа сара сгәы иаанагом. Урҭ убас иуаауп, «рыкапан ахьы иаҧсоуп» ҳәа ззырҳәо ауаа иреиҧшуп.
– Бара бҳәатәы хасҵоит, Маниа. Бара хатәы иаҳәшьак
леиҧш, бсыҧхьаӡоит, аиаша шсабҳәо агәра згоит.
Аҭахызар, усгьы акәзааит. Урҭ ҽеиқәамзар, бара боуп
изҧырхагоу, сара саҵкьыс. Избанзар, бара бырзааигәаны бынхоит, сара сырцәыхароуп. Урҭ сара изсҧырхагахаӡом.
– Ибҳәо закәи, Шьашькәа? Анҭ реиҧш, агәыла сара
дансоу, уаҳа исҭахузеи? Бара уи аҭыҧ бҭиуаны быҟазар,
дара ахьынӡаҟоу бнеи, шәлеидтәаланы, ишышәҭаху
еиҧш шәеицәажәап, ус еиҳа еиҕьуп.
– Иахьатәила сызбыццом, Маниа, аха уаҵәы уа
сыҟоуп, бысзыҧшыз, џьаргьы бымцан, даргьы џьара ибмышьҭын.
Абас иеицәажәеит Маниеи Шьашькәеи, нас Маниа
аҩныҟа дцаразы дҩагылеит, аха Шьашькәа илымуит,
акруны, акрылҿамҵакәа доулмыжьит. Уи аҽны, Маниа уа
даннеи, Шьашькәа лыда аҩны аӡәгьы дыҟамызт, аҭаацәа
зегьы џьара-џьара ицахьан.
Арҭ рыҩџьагьы рызхара ианеицәажәа ашьҭахь,
аҧсшәақәа ааибырҳәан, иааидыҵит. Маниа аҩны данааи, Марусиеи Ивани ианралҳәа, аҩны зтәыз лҟнытә
ажәабжь ираҳаз иаргәырҕьеит. Маниа ишылҳәаз еиҧш,
адырҩаҽны, џьаргьы имцакәа, Шьашькәа даанӡа, илзыҧшны итәан: Маниеи, Марусиеи, Ивани.
Ашьыбжьон еиҧш, Шьашькәа Маниа лгәара дааҭалеит.
Уи илзыҧшны итәақәази лареи гәырҕьаҵәа еиҧылеит.
Еибадырит, рҭоурыхқәа иеибырҳәеит, арҭ ахҩыкгьы. Нас
дара рус хада аҩны аҭиреи, аахәареи рахь ииасит. Ажәак
еимамкӡакәа, уи азы иеилаӡеит. «Беиҵаха, быхә цәгьоуп»
рымҳәеит, аҽакит. Избанзар, ахә лара иақәылымҵеит.
«Шәара ишәҭаху ақәшәҵа», – лҳәеит Шьашькәа.
– Ус иҟалом, аҩны зҭиуа, бара боуп, бара ибҳәароуп
ҳәа анырҳәа:
– Ибзиоуп, ус шәара ианышәҭахха, «абырсҟаҟара
сышәҭ» ҳәа ахә марианы иақәылҵеит Шьашькәа.
– Уи сазыразым, имаҷцәоуп, сара абырсҟаҟара ацсҵоит, бара ахә ҳәа быҩны иақәыбҵаз хара имгакәа
ибысҭоит, - иҳәан иара иџьаба дынҭаҧшын, имаҷӡамкәа
ҧарақәак ааҭиган, Шьашькәа иналиҭеит.
– Уажәтәила иаҭахӡам. Ақыҭа аиҳабыра ирымуазаргьы ҳаздыруам, – лҳәан аҧарақәа лымгарц далагеит
Шьашькәа, аха иара имуит.
– Ирҭахызаргьы ақыҭа аиҳабыра ирымуааит, арҭ
ибысҭаз аҧарақәа, шьҭахьла ибымысхуам, – иҳәан
илимҭар имуит.
Арҭ ас иахьынӡеицәажәоз, Маниа рхәы ааҟалҵан,
рыззегь леидтәаланы акрырфеит, нас аусҳәарҭахь иеицны ицеит. «Иҳақәшәар бзиоуп, иҳақәымшәаргьы,
ҳгьежьны аҩныҟа ҳаап. Уаха ааилашәшәымҭаз, аколнхара ахантәаҩы иҿы ҳцап» ҳәа ӡбаны. Аха ара разҟыс
иҟалаз, аусҳәарҭаҿы иҟан асҭаршнеи, аколнхара ахантәаҩи. Арҭ зҩеиз, изусҭцәаз анрарҳәа, даара ргәы иаахәеит асҭаршнеи аколнхара ахантәаҩи. «Шәара ахә азы
шәеинаалазар, ҳара ҳашәҧырхагахом, ҳашкол аҿы аусура шәалагозар, «ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит» – рҳәеит ақыҭа
аиҳабацәа.
Абас ала, ари аус азы мыҩтәык аџьабаа мбаӡакәа еинаалеит, аҧсшәа еибыҳәаны, иеидыҵит. Адырҩаҽны
Иван Ростовҟа дцан, мчыбжьык ашьҭахь, аҧарақәа иманы даан, Шьашькәа адырра лыҭаны дааиган, лҧарақәа
налиҭеит.
Абас ала, ари аҭыҧ аҧшәма ҿыц даиуит.
– Абра анхара ҳаналагалак, баҳзаала, башьа иҩны
бнеиуашәа ҧхьаӡаны, – иҳәеит Иван.
– Иван иашьак иеиҧш, даныбыҧхьаӡа, саргьы
бҭацара сшаҧсахо, бдыруазааит, - лҳәеит Марусиагьы.
Арҭ ажәа ҟәандақәа илаҳаз Шьашькәа даара лгәы
иаахәеит. «Иҟасҵазеи, арҭ реиҧш иҟоу ауаа хазынақәа
сқьаҧҭажә ахә рымымхыкәа, ус ирысҭар акәын», аалгәахәит Шьашькәа, аха ахә рымылххьан.
а
тәи ахы
Иааит сентиабр акы. Ахәыҷқәа гәырҕьаҵәа, маҭәа
ҿыцла рҽеилаҳәа-рҽеилаца ашкол ашҭа аҭалара иаҿын.
Амҩа анырҭәаа, ашкол ахь ишааиц, иааиуан, зегь реиҳа
ихәыҷқәаз, ранацәа, рабацәа, ма рандуцәа, рабдуцәа
уҳәа, рыжәҩақәа кны, иааиуан, ашкол ахь рхқәа рханы.
Еиҳа-еиҳа имаҷхон, ашкол ахь рхқәа рханы амҩа ианыз
ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара.
Ус ишааиуаз, аҵыхәтәан игылаз ахәыҷқәагьы ашкол
ашҭа иааҭалеит. Аккаҳәа аҵәҵәабжьгьы аақәҩит ашкол
ашҭа. Аҵаҩцәа зегьы еибаргәырҕьо рыклассқәа рахь
илеит. Аклассқәа рнапхгаҩцәа, доусы, рыклассқәа рахь
инеины, рҵаҩцәа рыманы, ашкол ашҭаҿы рҽеизганы,
класс-классла рҽаашаны, илагылеит. Ашкол адиректор
рыгәҭаны даагылан, адныҳәаларатә ажәа иҳәеит. Нас
лымкаала дрыхцәажәеит сынтәа иҿыцны аусура иалагаз
арҵаҩцәа ҿыццәа Марусиеи Ивани.
Иара убас, араҟа дықәгыланы ажәа иҳәеит ақыҭа
асҭаршна Даҭикәа Агрба.
Уи ахәыҷқәа ирыдиныҳәалеит аҵара шықәса ҿыц.
Ирзеиҕьаишьеит: агәабзиара, амаашьара, аҵараҿы
аманшәалара, ахәыҷқәагьы адуқәагьы иреиҳәеит, ушьҭанахыс рышкол рҵаҩыла ишеиқәшәоу, Ростовтәи
бжьаратә школк аҿы директорс иҟаз, аурыс бызшәеи
алитературеи занааҭс измоу, насгьы уи лыҧшәма
аҭоурых занааҭс измоу, Ростовтәи аинститут аҿы аус
зуаз, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, иахьа нахыс, дара
рышкол аҿы аус шыруа. Ари ақыҭаҿы, аҩны шаархәаз,
даргьы рқыҭа уаа ишреиуоу, рыцәгьа – рыбзиа уҳәа
ишрылахәу.
Ицәажәақәаз зегьы анцәажәа ашьҭахь, Марусиеи
хәыҷык аҵәҵәа иркны. даашьҭылхын, раҧхьатәи аҵәҵәа
илырҟаҵеит. Зегьы ашкол ахыбра иныҩналеит. Аҵаҩцәа,
зегьы, рыклассқәа рахь илеит. Арҵаҩцәа – арҵаҩцәа
рҭыҧ ахь. Арҵаҩцәа, акласс анапхгаҩцәа ржурналқәа
рыманы, рыклассқәа рахь рҿынархеит. Егьырҭ арҵаҩцәа
– арҵаҩцәа рҭыҧ аҿы иаангылеит. Марусиеи Ивани
акласс напхгаҩцәас иҟан, урҭгьы акласс ахь ицеит. Абас,
ари ашкол аҿы иҿыцны аусура иалагеит Марусиеи Ивани. Урҭ рыҧҳа Наташа абыжьбатәи акласс аҿы дтәоуп.
Хәымсеи лареи еидтәалоуп.
Марусиеи Ивани русура ҿырҧшыга иабзоураны, аурыс бызшәеи алитературеи, аҭоурыхи рҵараҿы ахәыҷқәа
гәахәарала аҵара иалагеит. Акырӡа иеиҕьхеит араатәи
аҵаҩцәа рдыррақәа.
Арҵаҩцәа ракәзар, урҭгьы русура иеиҕьыртәит,
Марусиеи Ивани ирҿыҧшны. Марусиеи Ивани лассы – лассы ирҳәалон: «Арҵаҩы, дахьынӡарҵаҩу, ихы
аус ахьынӡадиуло ауп. Иарбан маҭәарзаалак, зегьы
идыруазар ауп, ианамуӡа абжьаратәи аҵаҩы диеицәамкәа» ҳәа. Арҭ ирҳәоз рмаҳауа иҟазма, араатәи
арҵаҩцәа? Ирзымдырқәоз ирцәыҧхашьаны, имҳәа
– мырӡа рхқәа аус рыдырулон. Ҳәарас иаҭахузеи, дара
русураҿы, алыҵшәа бзиақәа рнаҭон. Нас ус ауми ишыҟоу,
узҿыҧшыша ауаҩы уаҧхьа дангылоу? Марусиеи Ивани
рхы – рыҧсы ақәҵаны, ари ашкол аҿы, аус руан, аҧсуа
рҵаҩцәа ирывагыланы. Урҭ ирааӡон аҧсуаа рхәыҷқәа.
- Ҳара шәара шәхәыҷқәа аурысшәеи аҭоурыхи дҳарҵоит. Шәара ҳаҧҳаи ҳареи аҧсшәа ҳшәырҵа, рҳәалон
дара.
Марусиеи Ивани, ари ашкол аҿы аусура ианалага, аҽны
инаркны иаарылшоз зегьы ҟарҵон, рҵаҩцәа иеиҕьны
аҵара рҵарц азы. Даргьы аҵара здырҵо рбызшәа аҵара
иаҿын. Хымҧада, ус иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡон. Абас
иахьыҟаз азы ашкол адиректори, арҵаҩцәа реилазаареи,
ақыҭа уааи рҿынтә. Ҳаҭыр рықәын. Урҭ рыҽхәаҧхьыӡ
рҳәалон. Уи аҭак дара абас иҟарҵон: «Иахьа уажәраанӡа
қырҭшәала аҵара зҵоз, аҧсуа хәыҷқәа, қәнагала аҵара
дырҵараҿы, макьана, ҳара иҳагу даара ирацәоуп. Урҭ
рахьтә, зегь раҧхьа игылоуп, аҵара зҳарҵо ахәыҷқәа
рбызшәа аҵара. Ари ҳагха, иаарласны ирҽеитәу акоуп. Уи
ҳмыриашакәа, ҳҵаҩцәеи ҳареи ҳаилибакаара уадаҩхоит.
Уи ариашара ҳахәҭоуп ҳара».
Абри ажәа иқәныҟәаны ауп аусура ишалагаз, Марусиеи Ивани. Марусиеи Ивани, мшқәак рыла, арҵаҩцәа
реилазаараҿы зегьы ирышьцылеит, пату рықәҵара рҽаҧсартәит. Аҵаҩцәеи дареи бзиа иеибабо иҟалеит.
Аҭаацәа ракәзар, ргәы рҽанӡамкәа, ас арҵаҩцәа
ры-школ иахьаиуз, ргәырҕьара ҳәаак амамызт. Наташа лҩызцәеи лареи рыҧсқәа еихәланы, бзиа еибабеит,
аамҭа кьаҿла. Избанзар, лара даара зҟазшьа бзиаз ҵаҩын,
адырра ҵаула лыман. Дзусҭзаалак, акы сзеилымкааит ҳәа лҩызак ианылҳәа, илеилмыркаакәа ҟалҵомызт,
гәык-ҧсык ала длыцхраауан. Лара зегь реиҳа, лымкаала
дицхраауан Хәымса. Уи иакәын лара, иахьатәи лҩызцәа
рҿынтә, раҧхьа илбаз. Лашьа гәакьа диеиҧшуп ҳәа
лани лаби ирҳәоз аҟнытә, ларгьы лашьа гәакьа иеиҧш
длыҧхьаӡон.
Хәымса аҵараҿы дкәадан. Избанзар, аҵара аҵкьыс
дызҿыз аусура акәын.
Аусура данахашәалоз акәын, ашәҟәқәа рыҧхьара анигәалашәоз. Ус аҵара узҵома?
Уи азы акәын, Хәымса аҵараҿы дхьысҳаны дзыҟаз.
Иара уахьихәаҧшуаз, ҟәыҕара игны дыҟаӡамызт, аҵара
изҵом ҳәа аӡәгьы изҳәомызт, деилҟьа-еилҕәыцәӡа,
«амца дақәуҵар, дбылуам»ҳәа ззырҳәо иеиҧш деилҟьан.
Марусиеи Ивани Хәымса аҵараҿы дышхьысҳаз аныр-
ба, ирыӡбеит ацхыраара ирҭарц. Лымкаала аҩны дазыҟарҵон. Аха дара, еснагь, Хәымса ицхраартә еиҧш,
аамҭа рауазма? Ашкол аҿы аус уа, аҩнгьы, рынхарарынҵыра иацхраауа. Убри аҟнытә, Наташа илыдырҵеит
дицәымаашьакәа, лашьа иеиҧш дыҧхьаӡаны, Хәымса
дицхрааларц. Наташа лани лаби илыдырҵаз мап
ацәылкуазма? Урҭ лара илыдрымҵаргьы, усгьы, лара
дицхраалауан.
Наташеи Хәымсеи рыдҵақәа аныҟарҵалак ашьҭахь
иеицыхәмаруан, иара аамҭа анимоу. Хәымса маҷ-маҷ
аурысшәа аҳәараҿы аиҕьхара даҿын. Ҳәарас иаҭахузеи,
Хәымса аҵарагьы еиҕьны иҵо далагеит. Ҧшьбарак
цыҧхьаӡа ихәшьарақәа иауаз еиҕьхон. Хәымса уаанӡа
дрыцҳашьаны, иницхраа-ааицхрааны, «хҧақәа» низықәыргыланы дахыргозҭгьы, уажәы, «хҧақәа» дрыҧсаны ирҭон. Ажәак ала иуҳәозар, ушьҭа ицхрааны дахыргомызт. Ихала дахыҵуан. Ус ишнеиуаз, аабатәи
акласс даналгоз, «хҧақәа раҵкьыс ҧшьбақәа» изцеит.
Наташа лакәзар, аҧсшәа аҷҷаҳәа илҳәо дҟалеит. Марусиеи Ивани, урҭгьы рыхшыҩ азышьҭны аҧсшәа аҵара
иаҿын. Аҧсышәала ицәажәаны ирбоз, ицәажәашьа
хшыҩзышьҭрала иазыӡырҩуан. Уи иҿырҵаауазгьы даара ирацәан, аха зегь реиҳа, дара аҧсшәа зҿырҵаауаз Наташа лакәын.
Наташа аҧсуа нбанқәа Хәымса илирҩыз ҧшааны даргьы ирҵеит. Аха Наташа дхәыҷын ашьҭыбжьқәа бзианы,
ицқьаны, илҳәон, лани лаби раҵкьыс. Марусиеи Ивани аҧсуа шьҭыбжьқәа рҳәара рцәыуадаҩын. Уи азы Наташа дырхыччалон. Дара ракәзар, аҧсуа шьҭыбжьқәа
ҳзымҳәеит ҳәа ргәы ахшәаны, аҵара иаҟәыҵуамызт.
Аҧсуа шьҭыбжьқәа ҳәо, еиҭаҳәо рҽаршьцылара иаҿын.
Ус маҷ-маҷла, даргьы, аҧсуа шьҭыбжьқәа еиҕьны ирҳәо
иалагеит. Ашкол аҿы ианнеилак, рҩызцәа аҧсышәала
ирацәажәон. Арҵаҩцәа рҭыҧ ианааҩналоз, «Шьыжьыбзиақәа», – ҳәа иныҩналон. Ашкол аҿынтә аҩныҟа
ианцоз «абзиараз» – рҳәон. Амҩан аӡәы даарҧылар
«мшыбзиақәа» рҳәон. Рыҩны унеир, «бзиала уаабеит»
ҳәа иуҧылон. Абас «аҧсуахара» иаҿын, Иван иҭаацәара.
Иван пату иқәны дҟалеит аҧсуа қыҭаҿы. урҭ рыцәгьарыбзиа далахәын. Еизарак, ақыҭаҿы ианыҟалоз, дагханы ҟамлацызт. Уи игәаангара нҭкааны иҳәон аизараҿы
данцәажәоз, акыргьы алҵуан. Аҧсышәала ацәажәара
далагон, нас иоурысшәақәагьы налеиҵон. Дарбанзаалак, аӡәы, игәы акы аланы, ихы еиҭеиҳәар, аниҭаху, иара
иазҵаауан, рус иалҵуази, иалымҵуази, иара идыруан.
Акыр злыҵуаз акәзар, арзаҳал ҩны ириҭон, изыҳәозгьы
ылҵуан. Акы злымҵуаз акәзар, аргама имӡакәа иреиҳәон,
рус акгьы шырзалымхуаз. Даргьы иара иажәа хаҵаны
иаҟәыҵуан изҿыз рус. Абас дахьыҟаз азы, «ҳқыҭа аҵеицәа раҧхьа дгылоуп, дагьреиҕьуп», - рҳәон ақы-ҭауаа. Ивани Марусиеи рыбзоурала, еиҳау аҵара аҭалара зҽазызкуаз
рқыҭа уаа рхыҧхьаӡара азҳара иаҿын. Ара иазыҟаҵаны
Урыстәыла аҵара иҭарҵон. Аҟәеи Қарҭи еиҳау аҵара
иҭаларц ицақәоз, гьежьны, ихьагәгәа иаалон.
Хәымса ажәбатәи акласс даналгоз, ҩыхҧак изцеит.
Егьырҭ ихәшьарақәа зегьы ҧшьбақәан, иман хәбақәагьы.
Ажәабатәи ажәеизатәи аклассқәа данрылгоз, зынӡак хҧак
изымцаӡеит. Ихәшьарақәа зегьы ҧшьбақәеи хәбақәеи
ракәын. Убас, аҧышәарақәа ҭины, ашколгьы далгеит.
Наташа лакәзар, актәи акласс инаркны, «хәбақәа» ҳәа
мацара аҵара лҵон, хьтәы медалла ашколгьы далгеит.
Уи занааҭс иалылхит, аҧсуа бызшәеи алитературеи. Уи
еиҧш, аҵараиурҭа ахьыҟаз Аҟәа акәын.
Раҧхьаӡа уи афакультет анаадырт лара дақәшәеит.
Хәымса иҭаххеит аҭоурыхтә факультет дҭаларц. Иван
Хәымса иҽыззикыз афакультет аҭалара имч шақәхоз,
еилкааны, иагьимаирҽхәеит. Аха Маниа илҭахымхеит.
«Сыҷкәын дзаҵәуп, аҩны инсырхода?» ҳәа азҵаара
ықәлыргылеит, аха Марусиеи Ивани, Маниа лхы инҭалан,
дақәдыршаҳаҭхеит.
– Бымшәан, Маниа, бара ҳара ҳаабхылаҧшлоит, млаки хьҭаки быдҳаркуам, Хәымсагьы ҳааицхраалауеит.
Ростов дганы аҵара дҭаҳҵоит, аҵара иҵап, дуаҩхап, лҳәеит Марусиа.
– Марусиа, бара еҳәшьак леиҧш былҧхьаӡоит,
лҳәатәы хаҵа, Ростов иҳамоу ҳара ҳуадақәа ҭацәуп, уи
азы ахә шәатәыс иҳауам. Иеилаҳәареи, ифатәи роуп, урҭ
хьаас ибаҳҭом, аҷкәын дрыцҳауп, доужь, ҳәа данырк,
Маниа дазыразхеит.
– Ибзиоуп, нас шәара ишышәҭаху акәзааит, - лҳәеит
Маниа.
Аурыс бызшәеи алитературеи Хәымса иазыҟаҵара
далагеит Марусиа. Аҧышәарақәа рҽырзыҟаҵо, еиҳау
аҵара аҭаларақәа рзы иаҭахқәоу адокументқәа реиқәыршәарагьы иаҿын Наташеи Хәымсеи. Урҭ адокументқәа
реиқәыршәара Наташа лзы уамак иуадаҩмызт, аха
Хәымса изы иуадаҩын. Уи уадаҩрас имаз апаспорт аиура акәын. Апаспорт иоурц азы, аколнхара ахантәаҩы
иҿынтә, дызлоужьу ала ашәҟәы иҭахын. Уи ашәҟәы
Хәымса иоурц, Иван ихы иадиҵеит.
– Ушьҭа шәыгәқәа злабзиоу ала ашәҟәқәа аажәга –
иҳәеит Иван.
– Ибзиоуп, – рҳәан Хәымсеи Наташеи Иван изыразхан,
адырҩаҽны рыҩџьагьы иеицны ақалақь ахь ицан, арентген аҿы рыҽдырбаны, рыгәқәа злабзиоу ала ашәҟәқәа
ааргеит. Аҩны ианааи, рыҩџьагьы леидтәалан, арзаҳалқәа
рҩит, доусы аҵараиурҭақәа изҭалоз рыхьӡ ала. Арзаҳалқәа
ирҩыз Марусиеи Ивани иддырбеит. Урҭ анаҧхьа «ибзиоуп» ҳәа ахырҳәааит. Ушьҭа апаспортқәа рыҟаҵара ауп,
уаҳа ус рымам. Наташа лзы апаспорт аҟаҵара мариоуп,
аха иззыцәгьоу, Хәымса иоуп. Уи аколнхара ахантәаҩы
инапы анымкәа, аколнхара аправлениа дызлоурыжьыз
ала ашәҟәы имамкәа апаспорт ирҭаӡом. Апаспорт змам
аҵарахьы дызцаӡом. Уи ашәҟәазы Хәымса аколнхара
ахантәаҩы иҿы днеины изҳәаӡом. Иван ихы ишадиҵаз
еиҧш, ҧсыхәак азиуазар ауп.
Ари хьаа дуны Хәымса игәы иҭан. Иара иаҵкьысгьы
ихьаа дуны лгәы иҭан Наташа. Наташа илдыруан Хәымса,
Иван иҿы дшыҧхашьоз. Убри аҟнытә Наташа лаб иҿы
днеины, ус лҳәеит:
– Саб, аколнхара ахантәаҩы иҿынтә Хәымса ииҭаху
ашәҟәы иоуратәы ухы иадуҵан, ианбаҟауҵо?
– Наташа, уи сара исхашҭхьоу џьыбшьома? Уи ашәҟәы
имамзар, апаспорт иоуӡуам. Апаспорт имамкәа аҵарахь
дызцаӡом. Нас сара акы сақәымгәыҕуазар, Маниа слыҳәо,
сылчо Хәымса аинститут иҭаҵаразы слышьҭалозма?
Шәара, ашкол аҿы аҧышәарақәа шәанырҿызгьы,
Хәымса апаспорт иоуразы, аколнхара ахантәаҩы илымҳа
инҭысшьхеит, аха усҟан мап имкӡеит. «Даҽаӡәызар
исҭомызт, аха уараҵәҟьа уансыҳәа, мап шҧаскуеи» иҳәеит. Иахьа сҩеиргьы, имсхуеит уи ашәҟәы.
– Имх, саб, Хәымса дыҧхашьаны изуаҳәом, акәымзар,
иуеиҳәар иҭахижьҭеи акрааҵуеит.
– Бзиоуп, Наташа, уаҵәы шьыжьымҭан, сцаны иасҳәоит. Амала, исхашҭыр ҳәа сшәоит, исхашҭуазар, бара
исгәаларшәа.
– Уи сара избап. Амала, уара даҽа уск ахь ухы умырхааит.
– Сара схы џьаргьы исырхом, Хәымса изы аколнхара
ахантәаҩы иҿынтә ииҭаху ашәҟәы аазымгакәа.
– Ус акәзар, бзиоуп, - лҳәеит Наташа.
Уаххьа анырфа ашьҭахь, Наташа шәҟәык аашьҭылхын,
даҧхьарц луадахь илгеит. Марусиагьы Ивангьы ҿыц
иҭыҵыз газеҭқәак, измыҧхьацыз рыман, руадаҿы
итәаны ирыҧхьон. Ацәа ианакы изҿыз агазеҭқәа
рыҧхьара иааҟәыҵын, алашара аарҧсны, ашьҭаларҭахь
ицан, ишьҭалеит. Наташа лани лаби шышьҭалаз анылба,
ларгьы лҽааилылхын, дзыҧхьоз лышәҟәы, лаҧхьа астол
инықәылҵан, дышьҭалеит.
Шьыжьымҭан зегь раҧхьа дгылеит Наташа. «Саб данбагылои?» – ҳәа дыҧшны дтәан лара, акгьы дамыҧхьаӡо.
Избанзар, акы даҧхьо далагар, лаб иалҳәарц илҭахуу
лхашҭыр ҳәа дшәон. Лара леиҧш, иаргьы иааихашҭыр,
усҟан даҽазны дцар акәхоит. Арахь аамҭа ааигәахеит.
Ажәаҿы ишырҳәо еиҧш, ауаҩы дызқәымшәо иҟоузеи?
Ма Иван, ма аколнхара ахантәаҩы Шьрыф Каабан-иҧа
акы дақәшәар, нас ишҧаҟаиҵои, Хәымса? Наташа лаб
игылара дазыҧшын. Наташа дангыла ашьҭахь, рацәак
мырҵыкәа Ивангьы дгылеит, аха Наташа ҿылымҭӡеит.
Иван Наташа дзықәиргәыҕыз ихашҭу, ихамшҭу иеилылкаарц, лгәы ишҭаз иеиликаан, лара лаҧхьа, иара
даацәажәан, ус иҳәеит:
– Наташа. Иаха бара исабҳәаз схашҭыз џьыбымшьан.
Бан ҳхәы ааҟалҵар, акы снацҳаны, бара ишыбҳәаз еиҧш,
даҽа уск ахь схы мырхакәа, Хәымса ишәҟәы сашьҭалоит.
– Ибзиоуп, саб. Дрыцҳами, Хәымса сашьа еиҳабы
диеиҧшуп ҳәа ауми, сани уареи раҧхьа бзиа дшыжәбаз.
Ус анакәха, сара саҵкьыс, иара сашьа еиҳабы иакәушәа
бзиа дыжәбароуп, патугьы иқәшәҵароуп. Сара сашьа
еиҳабы иакәушәа бзиа дызбоит.
– Бзиоуп, Наташа, ибҳәаз иаҳаит, башьа еиҳабы иаҵкьыс Хәымса дыбҭахызаргьы, ҳара мап ҳҳәом, шьала
еиуара ҳабжьам, - лҳәан лыбжьы аалыргеит Марусиа, лафк
налаҵашәа, ахәыҟаҵарҭаҿы лҭаацәа рхәы ахьыҟалҵоз
аҟнытә. Наташа лан илҳәаз, лара лгәы иалсит, аха лара акгьы лымҳәаӡеит, илаҳаз лмаҳазшәа ҟалҵеит. Нас дааҳәын,
ашәҟәы ахьықәыз, иаақәылхын, аҧхьара дналагеит. Марусиа илҳәаз, Наташа дшаргәааз, Ивангьы Марусиагьы
иеилыркааит. Марусиа лыҧҳа лара лхарала дахьгәааз,
даара илцәымҕахеит. «Ус сымҳәар акәын, исымҳәараны
исҳәеит, сыҧсындаз ус нысҳәарыз», – лҳәеит лара
гәаныла. Уаҳа ажәакгьы лымҳәеит уаҩы иаҳартә еиҧш.
Иван Марусиа илҳәаз имаҳазшәа ҟаиҵеит, Марусиа
илҳәаз Наташа илмаҳазшәа шыҟалҵаз еиҧш.
Марусиа лҭаацәа рхәы ҟалҵан, ҭаацәала илатәаны,
акрырфеит. Иван акранифа ашьҭахь, имаҭәа ҿыцқәа
ааишәиҵан, иара дахьцоз, иҭаацәа инареиҳәеит.
– Сара аколнхара ахантәаҩы, Шьрыф Каабан-иҧа иахь
сцоит, изысҳәаз азы, - иҳәан агәашә шыҟаз, ашьшьыҳәа
иҿынеихеит.
– Уца, Иван, уца. Уажәа иуҳәаз уамеижьан, дрыцҳауп
Хәымса, ацхыраара имоукәа акы дзымҭалар, - лҳәан Марусиа, Иван иҿынахамҭаз, лыбжьы наиқәлыргеит.
«Хәымса ипаспорт ҟаҵаны исымазар, аинститут
иҭаҵара сара избарын. Уи зынӡак сацәшәо сыҟаӡам.
Хәымса ихәшьарақәа бзиоуп. Аинститут дҭалар,
изиҵо здыруеит, дҳәатәхаҵаҩуп. Акыр зычҳауа уаҩуп.
Сара уи аинститут дҭазҵаша аҩызцәа сымоуп. Аброуп аус ахьыҟоу. «Аброуп», – сҳәеит, аха абраагьы,
сшәаҵәҟьо сыҟам. Абжьааҧны аколнхара ахантәаҩи
сареи ҳаиҩызцәа бзиақәоуп, пату еиқәаҳҵоит, сара
сызиҳәогьы, закәанла сиашоуп. Изакәаным, акы мчыла исырҟаҵарц сишьҭам. Уажәы ааигәагьы, исҳәахьеит.
Усҟангьы, мап имкӡакәа сақәиргәыҕит Хәымса апаспорт
иоуразы иаҭаху ашәҟәы иҭара. Уажә сахьҩеиуа, исзиуа
збап» – ҳәа дхәыцуа, агәашә аартны дынҭыҵын, аколнхара ахантәаҩы иахь иҿынеихеит.
– Бымшәан, Наташа, аколнхара ахантәаҩи, баби
иеиҩызцәа бзиақәоуп,ҧсыхәа змам ҳәа акгьы ыҟаӡам,
аха ҧсыхәа змам акәзаргьы, иара иаиҭоит, - лҳәан
Наташа лгәы ахьынлырхаз, Марусиа лгәы иаланы
дыҟамзи аҟнытә, лгәы ааҟалҵарц, ажәа хаала лыҧҳа
дналацәажәеит. Наташа дгәырҕьаҵәа дааҟалеит. Наташа
дгәырҕьаҵәа дахьыҟалаз, Марусиагьы дааигәырҕьеит,
лыҧҳа лгәы ахьыҟалҵаз деигәырҕьаны.
– Сан, сара Хәымса ишҟа сцоит, – лҳәеит Наташа, лан
лахь лхы налырхан.
– Бца, бан дбыкәыхшоуп, амала ирласны баа. Бара
еиҳау аҵара бҭаларц шыбгәиҭоу, бхабмыршҭааит. Аҽазыҟаҵара шбыхәҭоу бдырааит. «Аҳәа ду ахы ишақәгәыҕуаз
иҭахеит ҳәа иакәым бмыхьааит», – лҳәеит Марусиа.
– Сара ҧышәарак ауп исҭиуа сан бысцәымшәан,
уи аҧышәара заҵәы сзымҭир ҳәа, – лҳәан Наташагьы
лан илҳәаз аҭак ааҟалҵан, Хәымса иахь дцеит. Наташа
Хәымсараа ргәашә аартны данынҭала, раҧхьа Хәымса
ила Хәдыш даагәанаҭан: «бабаҟаз, бзымбежьҭеи?» –
аҳәозшәа ҩынтәҟа иаашын, иӷызуа, Наташа иаалҧылеит.
Ала ашышьа Хәымса ианиаҳа, Наташа дшааиуаз, иаразнак идырит. Хәымса амаҵурҭа дааҩныҵын, Наташа
дналҧылеит. Урҭ аҩныҟа имнеикәа ргәараҿы, амчандыр
аҵаҟа астол гьежь аирымӡқәа адҟаҵаланы иҟаз ахь инеин, наҟ-ааҟ инахатәеит. Уи ишынахатәаз еиҧш, Наташа
дызхалеиз аацәырганы Хәымса иалҳәеит.
– Хәымса, саб аколнхара ахантәаҩы иахь дцеит.
Иара иҿынтә иаҭаху ашәҟәы ааигарц. Урҭ даара пату
еиқәырҵоит. Зынгьы иеиҳәахьеит, уара апаспорт уоуразы ашәҟәы уиҭарц. Усҟан мап имкӡеит. Уажәы мап
икуеит ҳәа сгәы иаанагом.
– Мап имкуа анцәа иҳәааит. Мап аник, аҳақьымцәа
рҟнытә, ашәҟәы иаазгазгьы баша иаазгеит, - иҳәеит
Хәымса.
Хәымсеи Наташеи акраамҭа еицәажәо араҟа итәан.
а
тәи ахы
Убри аамҭазы, Иван аколнхара ахантәаҩы икабинет
ашә днас-насын, иаартны, дныҩнашылт. Иван Шьрыф
Каабан-иҧа икабинет дшыныҩналаз еиҧш, Шьрыф
Каабан-иҧа дҩагыланы, Иван днеиҧылан ҿааиҭит:
– Уа бзиала уаабеит, Иван Иван-иҧа! Ҳабоугәалашәеи,
умҳәо, удин аныс?
– Шьыжьбзиақәа, Шьрыф Кабан-иҧа. Ҳара шәара
шәанаҳгәаламшәо минуҭкгьы ыҟаӡам, аха аамҭа ҳамам,
шәара шәахь ааираз акәымзар, – иҳәан инапы ааимхны
аҧсшәа иеиҳәеит:
– Утәа, Иван Иван-иҧа, - иҳәан дахьтәашаз аҭыҧ
инапала инаирбеит.
– Ибзиоуп, стәап, уаргьы улатәа, ухаҵкы сцеит, иҳәеит Иван Иван – иҧа. Иван Иван – иҧеи, Шьрыф
Каабан-иԥеи, еиҿаҧшуа, илатәеит. Рыҩџьагьы анылатәа
ашьҭахь, Шьрыф Каабан-иҧа изааиз Иван Иван-иҧа
диазҵааит:
– Аказы умааикәа уҟам, сузыӡырҩуеит, Иван Иван –
иҧа.
– Сара схатә уск азы суҳәаразы смааит, аҩыза, Шьрыф
Каабан-иҧа. Сара сыззааиз, Хәымса Чырқьба изоуп. Уи
сара сеиҳагьы, уара дузааигәоуп. Аколнхара аправлениа дшоурыжьыз ала ашәҟәы суҭар, Хәымса ипаспорт
ааҟаҵаны, Ростов дганы, аинститут дҭасҵон, – иҳәеит
Иван Иван-иҧа. Ари Иван Иван-иҧа, Шьрыф Каабаниҧа уаанӡагьы иеиҳәахьан, дақәиргәыҕхьан. Избанзар,
усҟан, Шьрыф Каабан-иҧа, апротоколқәеи, ажәахәқәеи
уҳәа рыҩразы, акыр дицхраахьан, уи ида ҧсыхәа имамызт азы диргәыҕит. Наҟ-наҟ иусураҿы, ида ҧсыхәа
шимоуа идыруеит азы, уажәгьы мап изымкит. Шьрыф
Каабан-иҧа иҭахӡамкәа, мчыла даацәажәан:
– Иааҩып, нас.
– Шьрыф Каабан-иҧа сахьухәаҧшуа, ишуцәымҕу
здыруеит, аха ҳицхраап, ҳауаҩра аарҧшны, – иҳәеит
Иван Иван-иҧа.
– Иван Иван-иҧа, аиаша уасҳәоит, уара уакәымкәа,
даҽаӡәы дааит ҳәа мап скуан. Аха уараҵәҟьа узы, мап
сызкуам, изҩып, смаӡаныҟәгаҩ дааир, уи аформа змоу
лара лоуп, - иҳәеит Шьрыф Каабан-иҧа.
– Аформа иалоухи, иуҭахызар, сара измыҩуеи, - иҳәеит
Иван Иван-иҧа.
– Иҩы, Иван Иван-иҧа, смаӡаныҟәгаҩ даанӡа ҳазҧшрызеи? Аиаша уасҳәоит, акы ҳалгашәа ҟаҳҵеит, аха
ҳара ҳшалгаз, қырҭшәала ауп, акыр аадыруа џьушьома?
– иҳәеит Шьрыф Каабан-иҧа, даарыцҳаушьартә еиҧш,
даацәажәан. Иван Иван-иҧа Шьрыф Каабан-иҧа иаҧхьа
иқәыз ақьаад бҕьыц аақәихын, астол днахатәаны,
ишиҭахыз еиҧш иҩны, Шьрыф Каабан-иҧа имҳәыр аарханы, инапы наҵаҩны, «абзиара шәзыҟалааит» - иҳәан
дындәылҵны дцеит. Уи дышнеиуаз Хәымса игәашә
днылагылеит. Хәымсеи Наташеи ампыл иасуан. Иван
Иван-иҧа Хәымса игәашә ааиртын, дынҭалеит. Иван
Иван-иҧа дшааиуаз анырба, Наташеи Хәымсеи ампыл асра иааҟәыҵын, иаангылеит. Иҳаиҳәарызеишь
ҳәа ишиҿаҧшуаз, Иван Иван-иҧа иџьаба иҭаз ашәҟәы
аацәыриган, Наташеи Хәымсеи инадирбан, дырзаҧхьеит.
Нас иџьаба инҭеиҵахт. Даара ргәы иаахәеит Наташеи
Хәымсеи Иван Иван-иҧа дахьцоз, даргьы ишьҭаны
рҿынархеит. Иван Иван-иҧа аҩны дахьҩеизгьы, Марусиа илирбеит. Марусиагьы лгәы иаахәеит Хәымса апаспорт злаиаушаз ашәҟәы ахьиоуз азы. Иван Иван-иԥа,
ибзианы иидыруаз, аорган аҿы аӡәы аус иуан аҟнытә,
апаспорт аиуразы, Хәымса имала димышьҭит. Шамахамзар аӡәгьы аколнхара аҿынтә доурыжьуамызт,
ҩышықәса иреиҵамкәа аколнхараҿы аус имукәа. «Уара
узлоурыжьзеи?» – ҳәа џьоукы ҵаауа иалагар ҳәа дшәон
Иван Иван-иҧа. Хәымса диманы дцан, иаҭахыз аҧара
ахшәааны, иаҭахыз ашәҟәқәа еиқәыршәаны, насгьы
апаспорт аниауа амш еилкааны иааит. Урҭ ирарҳәаз
аҿҳәаразы, Хәымса дцан, апаспорт иманы дааит. Хәымса
апаспорт иоура иеигәырҕьеит: Маниеи, Марусиеи, Наташеи. Иара убас, Хәымса дызҭахқәаз зегьы. Маниа
лыҷкәын апаспорт ахьиоуз лызхаҵомызт. «Аеҭым имгьал былуам» - ҳәа ауаа ирҳәо иашазаап. Хәымса иакәым,
Хәымса иаҵкьыс зыжәҩахыр ҕәҕәоугьы апаспорт рауам,
Хәымса паспорт иаут. Дахьыҩнало ауада иоуеит. Ростов
дахьнеиуа, иреиҳау аҵараиурҭа дышҭало идыруеит, уи
ицхраауа димоуп аҟнытә. Иван Иван-иҧа излеиҳәо ала,
Хәымса аҵара ззымҵо аӡә иакәны дыҟам. Избанзар,
даашьом, адырра имоуп. Анцәа иҿынтә агәабзиареи
амашәыри рылҧха иоур, дызҭало аҵара қәҿиарала дшалго удырратәа иҟоуп. Ҳәарас иаҭахузеи, Хәымса аҵара ду
иманы дҟалоит. Аҵара ду змоу ауаҩы дыҧхасҭахоны
зыҟалом. Ауаа дыҧхасҭахартәуам, ицхрааны дҭыргоит.
Иқәнагоу аҭыҧ ахь днаргоит. Ихьӡи иабхьӡи еидкыланы ирҳәалоит. Уи ала, зықәра ааиаанӡа, аибашьра
мца иалаӡыз, иаб рыцҳагьы ҧсра-ӡра иқәымкәа ихьӡ
ажәлар рҿы иаанхоит. Хәымса иан, абас, дышхәыцуаз
еиҧш акәын, Марусиагьы дышхәыцуаз. Лара илхылҵыз,
лыҷкәын Сериожа аибашьраан дҭамхакәа, Хәымса
иеиҧш, аҵараиурҭа дҭалозар, дышгәырҕьоз еиҧш
акәын уажәы дышгәырҕьоз. Марусиа раҧхьа Хәымса
данылбаз, иаразнак лыҷкәын дышиеиҧшыз иеилылкааит. Насгьы уа дылбаларц азоуп, Хәымса игәылара
аҩны аахәаны, ҭаацәала иахыҵны, иааны, ари аҩны
ишыҩналаз. «Уажәы, сара, ара саангыланы, иара Ростов
иҳамоу ҳуадақәа дрыҩнаҵаны, исызхымгар ҳәа сшәоит.
Сара Хәымса, еснагь иааигәара сыҟазар, сҭахуп. Аиҭа
сгьежьны Ростовҟа сцандаз сгәахәуеит» - ҳәа дхәыцуан
Марусиа. Ари илхәыцуаз Иван иалҳәеит. Иван Иван-иҧа,
Марусиа лгәы иҭаз аиаша анеиликаа, ус иҳәеит:
– Марусиа, бара ибҳәо, зынӡак, сара сақәшаҳаҭым,
Ростов иҳамоу ҳуадақәа, ҳара макьана икаҳмыжьӡацт,
икаҳажьрангьы ҳаҟаӡам. Уажәы, ҳцо-ҳаауа, ҳшыҟоу
еиҧш, еснагь, ҳаҟазаауеит. Ииашоуп, Хәымса изоуп,
еиҳарак, ҳара арахь, ҳаара зыхҟьаз, аха ибхамышҭааит
бара, Амшын еиқәа ааигәара быҟазароуп ҳәа аҳақьымцәа
ишбарҳәахьоугьы.
– Ааи, аха, Иван, сара ус зысҳәо, Хәымса иааигәара
сыҟамкәа сзычҳауам азоуп. Наташа лакәзар, Аҟәатәи
арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалоит, Хәымса – Ростов. Аиаша уасҳәоит Иван, ибзиаҵәҟьаз Хәымсеи Наташеи рхқәа
неиларҵар, рыҩџьагьы Ростов аҵара рҵалар акәын,
сара сзы еиҳа еиҕьыз, аха ус иҟамлеит. Иумбои, даргьы пату шеиқәырҵо, бзиа ишеибабо, ҽнак иеибамбар
рзычҳауам.
Иван Иван – иҧа иҧшәма даалҧыҩланы ус иҳәеит:
– Ииашоуп, урҭ ҽнак иеибамбар рзычҳауам, бзиа иеибабоит, аха урҭ бзиа ишеибабо иашьеи иаҳәшьеи реиҧш
ауп, бара бгәы ишаанаго еиҧш акәым.
– Уи иашоуп Иван, – лҳәан, Марусиа даақәыҧсычҳан
аҩныҟа дныҩналт. Марусиеи Ивани абас реицәажәара
аҵыхәа ҧырҵәеит. Иван, дара ргәара агәҭа иқәгылаз,
ахәырмақәа ҩба рыбжьара, амахәқәа шахала ирыд-
ҿаҳәаланы, абырфынтә шашәа жәпала иҧаз асеҭка
ибыжьгаз, даниаланы ашәҟәы даҧхьон. Акыр ашәҟәы
даҧхьахьаны еиҧш, маҷ-маҷла илацәақәа неиқәыҧсо
иалагеит. Илақәа ацәа рхылеит. Ус ашәҟәы шикыз
акәапаҳәа илимпыҵшәаны игәы илықәҳаит. Иара
ацәа дынҭанагалеит. Ахәхәаҳәа аҧша хьшәашәа исуа,
дҭахәхәа дыцәан Иван. Убри аамҭазы, Марусиа аҩн
усқәа дырҿын. Уи дызҿыз лыҩн усқәа данаарылга, Иван
днаиацәажәарц лҭаххан, дахьиаз днеины днихагылеит, аха дыцәоушәа анылба, дмырҿыхаӡакәа ашьшьыҳәа
днеин, ахәырмақәа рыҵаҟа игылаз аирымӡ днықәтәеит.
Хәбаҟа-фбаҟа минуҭ раҟара аирымӡ дықәтәан. «Ара
аирымӡ сахьықәтәоу аҵкьыс, Маниа лышҟа сцар, маҷк
аҟара сналацәажәап. Уи алагьы сгәы аҧсы асыршьап,
ларгьы ушьҭа усурантә дааиуазар акәхап», – ҳәа лгәы
иаанаган, дҩагыланы Маниа лахь дцеит. Марусиа арахь
данаауаз, лгәы ишаанагоз еиҧш, Хәымсагьы Маниагьы
ҽагакра иҟаны иааин, ашьашәыр аҿы рыҧсы ршьон. Марусиа ргәара данааҭала, Хәымсеи Маниеи ҩагыланы,
илҧылан, дара ахьтәаз ахь даарган, илеидтәалеит.
«Арҭ аҳәсақәа еицәажәалааит, сара сзырԥырхагахои,
сцаны, сиарҭаҿы схы нықәысҵап», – ааигәахәын,
днырҧырҵны акәасқьа дҩыхәнан, иҧсы ишьарц иуада дныҩналеит. Хәымса иуада дшыныҩналаз еиҧш,
ииарҭаҿы днеины, ихы нықәиҵеит. Марусиеи Маниеи ашьашәыраҿы иахьеидтәалаз, иааҟәымҵӡакәа
аицәажәара иаҿын. Ус ажәеи ажәеи неихҳәаауа, ишааиуаз акәымкәа, Марусиа лгәы иҭаз лажәа аалҿыҵҟьеит:
– Маниа, бара аҷкәын бзиа дбымоуп, ҳара аӡҕаб бзиа.
Шаҟа еиқәнагози, урҭ хаҵеи-ҧҳәыси ҳәа иеибаҳҭар.
Баргьы-саргьы ҳамч рықәымхари қьаҕьариацәас ҳәа
ҳрызгылар, – лҳәан. Илҳәаз ҟалазшәа, дгәырҕьаҵәа дыччо Маниа дналыхәаҧшит Марусиа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.