LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
Süzlärneñ gomumi sanı 3647
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1960
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
инырҭасит. Абар, ушьҭа мызкы ҵуеит руадақәа ҧшак
аарыҩнамсижьҭеи, нас аҟәкфҩы ҩнамышәшәакәа, уаҳа
ишҧаҟаларыз? Наташа илкыз лчамадан наргыланы,
иаразнак ала аҧенџьырқәа аалыртит. Адәахьы, акыр
ишшоуразгьы, аҧша хьшәашәа ааҩнасит руада. Даргьы
рыҧсқәа маҷк аҟара иааивыргеит, акыр лыҧсы шааивылгазгьы, лгәалаҟазаара шыцәгьац, ицәгьан. Лара уаҳа
ажәакгьы мҳәаӡакәа, луадаҿы днеин, ахч баба даахан,
лхы лылажьны ҿыцха днаиеит. Наташагьы луадахь дцеит. Акыр аамҭа дхәыцуа дтәан Иван имацара, нас иаргьы дҩагылан, Марусиа дахьиаз, лаҧхьа аскам ларгыланы днықәтәеит. Инапы ҩышьҭыхны, Марусиа лхагәҭа
ины-қәишьын:
- Марусиа, ибыхьи, ҳаҷкәын Сериожа данҭаха, асҵәҟьа
бҟамлазшәа ауп сара сшыҟоу. Уажәы, уи иеиҧшу дызбеит
ҳәа агәырҩа цәгьа бҽабыргома? Бхы амбхроуп, дрыцҳауп
ҳаҧҳа заҵә, зылҧха ҳауша, анцәа ду иҳаҭәеишьаз. Уи
лаҳаҭыр азы, бҽырҕәҕәа, - ҳәа Марусиа лыҳәара даҿын
Иван.
- Иван, уара аиаша уҳәеит. Ҳаҷкәын Сериожа данҭаха,
уи аҟара сгәы далымсӡеит. Уажәы, иара иеиҧшыз, дахьызбаз, сгәы ишалсыз еиҧш. Уи ус иҟазҵаз ҳәа сгәы
иаанаго, усгьы ҳаргьы ҳаҧсуеит, ҳаҧсқәа ахьынӡаҭоу,
ҳшьа аауеит ҳәа хацәнамырха, аҕа хәымга ҳаиҿагыланы,
ҳахьеибашьуаз ауп. Ауаҩы шамахамзар, агәаҟразы
дымҧсуазаап, умбои? Ҳара ҳаҷкәын баша дыҧсны,
анышә дахьамоу, здыруазар, аҧсшьарамшқәа раан, снеины, дахьжу инышәынҭра агәы снапы нықәсшьуазар, уаҳа
исҭахузеи, сара? Усҟан, уи дыҧсит ҳәа исыҧхьаӡозма?
Аха ус иҟамлеит. Иара иҟәых хәыҷык, цахак иадамхаргьы иаҳмоуит, ма иҧсы ҭаны анцәа дҳаимҭеит.
Абри аҟара сара сгәы иасыз сыҧсы еивазырхаз, сыҧсы
сыхәцә икылазырхаз, аҧсуа ҷкәын, иара иеиҧшыз дахьызбаз ауп. Иара иан дрыцҳамшьаӡакәа, «Ростовҟа уаала, аҵара уҳарҵоит, ууаҩыҳтәуеит, ҷкәынас уҟаҳҵоит» ҳәа игәаҕьны излаҳҳәазеи? Сара сеиҧш, Хәымса иангьы
лгәы лнапқәа аакыдшьыло, дсыртәар, сҭахызма?. Сара
сакәым, Хәымса, уаргьы иоуҳәеит сара исҳәаз. Ҳаҩџьагьы
анцәа ҳаҭоумҵан, ҳгаӡароуп ус ҳзырҳәаз, иҳамҳәар анамух, иҳамҳәоз: «Уангьы уаргьы шәеидкыланы шәаагоит,
шәыҧсҭазаара бзианы иҟаҳҵоит» – ҳәа. Убри акәын
анцәа игәы иаахәозгьы. Ус ҳамҳәаӡеит, уажәазы, аха
ҽааны, Аҧсныҟа ҳцаны, дара ируазар, ани аҧеи ааидкыланы иаагап. Иара дҳаҷкәынзаап. Иан лакәзар,
анык ҳҳәаргьы, ҳара ҳаҵкьыс деиҵбахозар акәхап, аха
иаҳәшьак леиҧш ҳалзыҟазаап, иаҳәшьак дшырбо даабалап, урҭ рбара ҳара ҳамч рықәымхо ҳаҟам. Уадала
акәзаргьы ҳацәгьаӡам. Рыбжьарақәа аабжьыгазар, ашьапылампыл уасратәы иҟоуп. Хәымса иан дыҧсыр, пату
лықәҵаны, анышә даҳҭап. Ҳара ҳаҧсыр, иара анышә
ҳаиҭап. Наташеи иареи иашьаки иаҳәшьаки реиҧш
иҟазаап. Абарҭ исҳәақәо рзы, уара угәы ишҧаанагои,
Иван? – лҳәан уаанӡа дшиҿаҧшуаз еиҧш акәымкәа,
уажәы, еиҳа дкылкааны, Иван днеиҭаҧшит.
- Ибҳәо иашоуп, Марусиа. Ҳаҷкәын данҭаха, ҳара
ашьаарҵәыра ҳалан. Излаҳалшоз ала ашьоура ҳаҿын.
Асовет уаа зегьы ҳаидгыланы ҳақәҧара абзоурала аиааирагьы аагеит. Ҳара ҳлымҳақәа ирмаҳаи, Хәымса
ианиҳәоз: «Саб Ростов деибашьуан. Ростов ааигәара
қыҭак аҿы, анышә дамоуп, ибаҟагьы гылоуп» – ҳәа.
Убри иашаны иҟазар, аҧшаара сара схы иадысҵоит.
Убри еилкааны, Хәымса иани иареи ааганы идҳарбоит,
иҳацныҟәозар. Иахцалак, изхҳарҟьозаалак, Хәымса
иани иареи ҧшааны, уас иҟаҵаны, ҳаибабалароуп. Бара
бгәы рҭынч, сылашара. Баргьы саргьы ахәыҷқәеи, аҿари
аҵара дырҵареи, рааӡареи, ҳнапы иануп. Урҭ ҳхыччо
иҟаҳамҵароуп. Иван ииҳәаз иашоуп. Марусиа Ростовтәи
бжьаратә школк директорс дамоуп. Далгахьеит аурыс
бызшәеи алитературеи рфакультет, Ростовтәи аинститут
аҿы. Лара аус ахьылуа ашкол аҿы, аурыс бызшәеи алитературеи рылҭоит. Иван иакәзар, Ростов иҟоу институтк аҿы аус иуеит, аҭоурыхтә наукақәа дыркандидатуп.
Абар, ирласны иааиуеит аинститут ахь абитуриенцәа
рыдкылара аамҭа. Иара аинститут аҿы, дыҟазароуп,
адкыларатә комиссиа деиҳабоуп. Марусиа лакәзар, август ҩажәа инаркны, аусура далагоит, лырҵаҩцәеи лареи
ашкол аҿы иҟазароуп. Ахәыҷқәа рныҳәа, сентиабр акы
ишахәҭоу еиҧш рҽазыҟаҵаны иаҧылароуп.
Аамҭа ықәҳа ицоит, аха Марусиа лгәабзиара еицәамхозар, еиҕьхара ҳәа акгьы амам. Урҭ Аҧснынтәи
иааижьҭеи, рҩымчыбжьа ааҵуаны еиҧш, Марусиа
дахьыҩаиаз, ҧхыӡрыла дылбоит, абомба анкаҳа, иашьыз
рыҷкәын Сериожа, Марусиа дшыцәаз, дналхагылахт иара.
«Сан, бара биашоуп, Аҧсны иибаз аҧсуа ҷкәына Хәымса
сара даара дсеиҧшуп. Избанзар, уи сара сыҧсоуп ихоу.
Абомба санацҟьа, сара сеиҧш абомба иашьқәаз зегьы,
ҳаҧсқәа шәаны, рҽеидкыланы, аибашьра ахьымцоз,
аҭыҧқәа рахь идәықәлеит. Усҟан, аибашьра ахьымцоз
ҳәа иҟаз Кавказ акәын. Сҩызцәа рыҧсқәа, ана иаангыло, ара иаангыло, мацара ишнеиуаз, зегьы ҭыҧк-ҭыҧк,
џьара-џьара илырхын, иаангылеит. Сара сыҧсы, аҧсы
зну атәыла – Аҧсныҟа ицеит. Ус ишнеиуаз, Хәымса даниуаз, иақәшәан, сыҧсы ихалеит, саргьы иара сиеиҧшхеит.
Сан, сбыҳәоит, саби, бареи Хәымса дкашәмыжьын. Уи
дыжәбала, сара сыҧсы ҭаны, сшәымазар сшыжәбоз
еиҧш. Сан, саҭабымҵан, ушьҭа сара сцеит, абзиара
бзыҟалааит. Саҳәшьеи саби сысалам рыҭ, баргьы сара
сыгәхьааганы бымҵәуалан» - иҳәан Сериожа дцарц
ашә изшьапык нхигоны еиҧш, «Сыҷкәын, сылашара,
џьаргьы усышьҭуам, уаангыл, срыцҳауп», - лҳәан арҵәаа
ҳәа дыҳәҳәаны лыҷкәын днаишьҭалеит Марусиа. Сериожа дахьцаз-дахьааз лымбаӡакәа дныҵашәкәа дцеит, ларгьы дцәырҳаны дааҿыхеит.
Марусиа данааҿыха, илҳәоз – илуаз ҳәа акгьы лыздырумызт. Уимоу, лара аҧхыӡ илбаз шыҧхыӡызгьы
лзеилымкааит. Лара илбаз аҧхыӡ илабҿабоуп ҳәа ауп,
лгәы ишаанагоз. Избанзар, лабҿабоушәа имҩаҧысит
ари ахҭыс. Марусиа лыбжьы иарҿыхеит Ивангьы Наташагьы. «Иҟалазеи, ибыхьзеи»? – ҳәа Иван Марусиа
дшылҿыз, уи ибжьы заҳаз, Наташа дгыланы дааит.
Наташа дгыланы данааи, лан лҿы акны, дзымцәажәо,
лиарҭа даҕран. Иван Наташа дшәар ҳәа длыцәшәан, даалылабжьеит. Нас «Ацхыраара – лас» ахь аҭел дасырц,
иара иҧҳа иналыдиҵеит. Иван иҧшәма лахь дааҳәын,
иара иидыруаз ала, згәы аангылаз ауаҩы, раҧхьатәи ацхыраара шизыруа еиҧш, ацхыраара лиҭон Марусиа. Ус
аамҭа маҷк аҟара анааҵ ашьҭахь, Марусиа лыҧсмаҷра
маҷк даалҵын, лылацәақәа аахылтит. «Наташа, ахәшә»,
- иҳәеит Иван убасҟан. Арҭ рыҩнаҭаҿы аӡәгьы агәыхь
имыхьцызт, аха Марусиа, есымша, агәыхьхәшәы лыглыжьуамызт. Лара ас шлыхьуаз, лдыруазшәа, ахәшә ҵәахны
илыман. Наташа ирласны, ахәшә ахьыҟаз днеины иаалган, аҵәца инҭаҭәаны, Марусиа иллыржәит. Ахәшә
илжәыз ашара царц азы, даҽа аҵәыцак ала, аӡы аалган,
Марусиа иллыржәит.
Акранҵы ашьҭахь. Марусиа хар лымамкәа лчымазара даалҵит. Убри аамҭазы «Ацхыраара – лас» ааины, рыҩны аҧхьа иаангылеит. Аҳақьым амедиаҳәшьа
дицны, аддыҳәа иҩыхәнеит, урҭ аҭыӡҭыԥ ирымаз ала.
Урҭ аннеи, Марусиа лчымазара акыр далҵхьан. Даргьы
хәшәқәак лдыржәын, акыр иаалзыҧшит, «дзеиҧшрахо
аабап» - ҳәа. Уи илзымҧшыр адагьы, уаҳа ҧсыхәа рымамызт. Избанзар, лчымазара арҵысра ауамызт. Марусиа
лчымазара алҵра даҿын, аха лгәы шлыхьыц, илыхьуан.
Лчымазара акыр даналҵ ашьҭахь, аҳақьым длызҵааит:
- Бгәы ҧызжәарыз ибаҳазеи? Аӡәыр бгәы нирахама?.
- Мап, сара аӡәгьы сгәы нимырхаӡеит, аха сгәы сзырхьшаз, аҧхыӡ бааҧсы збеит, - лҳәеит Марусиа, нас аиҭа,
лажәа инацылҵахт:
- Аибашьра аан, сыԥшәма Ивани сареи, ҳаҷкәын Сериожа дҳацны ҳашнеиуаз, абомба ҳалаҳан, дашьит. Уажәы
ааигәа, ҭаацәала ҳцаны, ҳаҧсы ҳшьон Аҟәа. Адәыҕба
ҳҭаланы ҳшаауаз, Аҧсны ҳалҵаанӡа станциа хәыҷык
аҿы ҷкәынак даабеит. Уи Сериожа даара диеиҧшын.
Сахьыҩаиаз, Сериожа ҧхыӡрала дызбеит. «Абни аҷкәын,
Аҧсны ижәбаз, сыҧсы ихоуп», – иҳәан дындәылҵит.
Данындәылҵуаз «дсышьҭуам» ҳәа сыҳәҳәаны, снаишьҭалеит. Нас сара сыҳәҳәабжь саанарҧшит.
– Аҧхыӡ уҳәеит ҳәа иаргамаҵәҟьоушәа иубо ыҟоуп.
Уи угәы шҧаунамырхьуеи? Аха бара бымшәан, ибзылаҳҩуаауа ахәшәқәа ыжәла, – лҳәан аҳақьым длатәаны,
илжәшаз ахәшәқәа лзылылҩааит. Жәамшҟа рышьҭахь,
аҳақьымцәа быҽдырбах, – лҳәан аҳақьыми амедиаҳәшьеи нылхыҵны ицеит. Марусиа лхы ҩышьҭымхӡакәа
хымш диан, нас днеи-ааиуа далагеит, ҵаҟа дыллыбааны, ашьашәыр аҿгьы длатәалон, лҩызцәа драцәажәо.
Марусиа аҳақьым ишлалҳәаз еиҧш, жәамш рышьҭахь
аполиклиникахь дцеит. Уа дырбеит аҳақьымцәа, аха
иуадаҩыз, зыхәшәтәра иамуаз ҳәа чмазара лыдрымбалеит. Амала иларҳәеит лгәабзиара ишазеиҕьу Амшын еиқәа азааигәара ҧсшьара ҳәа дцаларц, алшара
лыманы дыҟазар, нхара ҳәа наӡаӡа уахь дызцар, зынӡа
ишылзеиҕьугьы лабжьаргеит. Ари Ивани лареи акыр
иазхәыцит, аха ҧсыхәа змоу акы акәны изыҟамлеит.
Руадақәа ҭины ицап, уи иаҭнырхуа аҧарала ацынхәра
аархәап, аха аусурҭа рызҭода, усурҭада, рхы зларбозеи?
Ус Марусиеи Ивани русура аамҭагьы ааины иаарыдгылеит. Аҧхынтәи аҧсшьара мшқәа ирласны ицеит. Аинститут аҿы аҧышәарақәа ахьрыдыркылоз, Иван акомиссиа напхгаҩыс даман, уахь аныҟәара далагеит. Марусиа
лакәзар, напхгара зылҭоз ашкол ахь дныҟәон. Ус ишыҟаз,
иааит Сентиабр акы. Уи амш инаркны, ашколқәеи
аинститутқәеи, уҳәа егьырҭ аҵараиурҭатә усҳәарҭақәа
рҿы аусурақәа ирылагеит. Есышьыжь Иван аинститут
ахь дцон. Марусиеи Наташеи – ашкол ахь. Иван есымша
игәы иҭан, Хәымса иаб Иван (Иуана) анышә дахьамоу
аҧшаара, аха уи аҧшааха, аамҭа имамызт, акәымзар.
Уахык, зны Иван дахьиаз, ихшыҩ иҭашәеит, иара
алекциақәа дыззаҧхьо истудентцәа иреиҳәар, доусы,
рқыҭақәа рҿы, аешьаратә нышәынҭрақәа. Ма хаз иҟоу
нышәынҭроума Чыргба Иван (Иуана) Хынрыгә-иҧа ҳәа
ахьану рзыҧшаауазар, иҧшааны, иара ахьыҟоу аҭыӡҭыԥ
ашәҟәы ианҵаны, изааргарц.
Иван ус иҟаиҵеит, избанзар, Чыргба Иван (Иуана)
иҧшаара далагарц игәы иҭан, иааиуа аҧсшьарамшқәа
раан. Иара иустудентцәа, уи иҧшаара рылымшаргьы,
уадаҩс иҧхьаӡомызт. Дара иахьгәарҭақәаз, цатәысҧшаатәыс иауамызт, егьирахь дашьҭалон. Дара рыла изеилкаар, зынӡа ибзиан. Иван истудентцәа, дара ахьынхоз,
рқыҭақәа рҿы, ргәаҭара мариан. Мариала игәарҭеит, аха
аӡәгьы уи ауаҩ дахьаныз изымҧшааит. Дара астудентцәа
еиҳагьы аинтерес кны иашьҭалеит. Ирзааигәаз ақыҭақәеи, ахәуторқәеи, астанциақәеи аамҭа анрымоу иры-
лаланы агәаҭара иалагеит. Аҵыхәтәан, астудентцәа
аӡәы иҧшааит аешьаратә нышәынҭра «Чыргба Иван
Хынтрыгә-иҧа» - ҳәа иахьаныз. Ари шиҧшааз еиҧш,
изыҧшааз астудент алектор дыҧ-шааны, иеиҳәеит.
Абри аҭыҧ аҿы иҟоу, аешьаратә нышәынҭраҿы, ихьӡ
шану «Чырыгба Иван Хынтрыгә-иҧа» – ҳәа. Истудент
ари ахьеиликааз даара игәы иахәеит Иван. Истудентцәа
ирзымҧшаар, иара ихала дашьҭамлар иуӡомызт.
Ақыҭақәеи, ахәуторқәеи, астаницақәеи зегьы иара еимидар акәын.
Урҭ реимдара ус имариазма? Уажәы, «Чыргба Иван
Хынтрыгә-иҧа» – ҳәа дахьану иҧшаазар, так-сик аанкыланы, иахьиаҳаз, аҭыҧ аҿы, днеиуеит ауп, уаҳа акгьы
аҭахӡам. Ииашаҵәҟьаны, аешьаратә нышәы-нҭраҿы ус
ианызар, ҳаҧыхьатәи аҧсшьара мшқәа раан, Аҧсныҟа
изцозар, Хәымса иҿаҧхьа дыҧхашьомызт Иван. Избанзар, уи ииҳәаз нагӡан. Иван ари шааиаҳаз еиҧш, иҭаацәа
иманы уахь данцаша ҳәа аҿҳәарагьы аиҭеит. Иара истудент иҿынтә иахьоуп ианиаҳа. Иахьа шәахьоуп. Уахь
ацаразы, аҿҳәара ҳәа иаиҭаз амҽыша акәхеит. Амҽыша
ашьҭахь иааиуа аҩаша, Наташа лымшира ауп. Уи усгьы ҳамҭак лзааихәар акәын Иван. Лара илымаӡамызт
апатреҭ ҭыхга. Иван аусура аҿынтә аҩныҟа данаауаз Наташа апатреҭ ҭыхга аахәаны илзааигеит. Амҿышанӡа
апатреҭ аҭыхшьа лҵарц, нас аешьаратә нышәынҭрахь,
Чыргба Иван Хынтрыгә-иҧа дахьану ицарц. Наташа
аешьаратә нышәынҭра иахагылоу абаҟа апатреҭ ҭылхырц.
Уи апатреҭ Аҧсныҟа ианцо уахь иргарц. Иван иааихәаз
апатреҭ ҭыхга, Наташа аҩны данааи, инылиркит.
- Макьана бымшира акыр бжьоуп. Усҟан ибысҭар
акәын, ари аҳамҭа, аха уажәы, ибысҭоит. Избанзар,
Хәымса иаб, Чыргба Иван Хынтрыгә-иҧа дахьжу сыстудентк ила еилыскааит, амҽыша уахь ҳцоит. Уаанӡа бара
апатреҭ аҭыхшьа бҵар, уа ҳаннеилак, абаҟа апатреҭ
ҭыбхып, ҳәа ауп, - иҳәеит Иван иҧҳа илзааихәаз аҳамҭа
налиҭан.
- Ибзиоуп, саб. Уаанӡа сара апатреҭ аҭыхшьа шҧасзымҵо, нас аҧхынтәи аҧсшьара мшқәа раан, Хәымса
ишҟа ҳанцо, изаагап. Иара иуазар, арахь дааганы,
иҳарбап, - лҳәеит Наташа. Наташа «Аҧсныҟа ҳцоит»
анылҳәа, Марусиа дааигәырҕьеит. «Аҧсныҟа ҳцар,
Хәымса даабоит», – ҳәа лгәы иааҭашәан. Уи даара дыгәхьааганы дыҟан Хәымса.
- Уажәы исҳәар, ихашәҵару сыздыруам, аха Хәымса
дызбандаз ҳәа сыҟоуп, дыгәхьаазгоит, - лҳәеит Марусиа.
- Саргьы убасҵәҟьа ауп, - иҳәеит Ивангьы.
- Сара сашьаҵәҟьа иакәушәа дысҭахуп, - лҳәеит Наташагьы.
Абас, ари аҭаацәара зегьы ахгәаҟуан, Хәымса ибара.
Нас абас изыхгәаҟуаз аҷкәын, иаб аибашьраҿ иҭахаз,
анышә дахьамадоу аҭыҧ анеилкааха, уҳәан-сҳәанла
акәымкәа, дара рхала ицаны, рыблала ибаны, апатреҭ
ҭыхны, Хәымса изырымгар, иашоума? Мап, ус ҟарымҵар
иашам. Иара дрышьҭоума мамзаргьы. Дара роуп иара
ишьҭоу, ҳаҷкәын диеиҧшуп ҳәа. Иван ишиӡбаз еиҧш,
аҿҳәара иаиҭаз иахмырҧакәа, уахь ицароуп, аҭаацәа
зегьы. Ус иӡбоуп, ус иҟалароуп, уаҳа хырҧашьа амаӡам.
Аҽҳәара змоу, ианакәызаалак, ирласны иааиуеит. Убас,
ирласны иааит, ари аҭаацәара, аешьаратә нышәынҭрахь
рцара аамҭа. Таксик ҭаацәала илақәтәан, аешьаратә
нышәынҭрахь ицеит. Дара рыблала ирбеит аешьаратә
нышәынҭра ахьыҟаз, урҭ абаҟа шырхагылаз. Уи абаҟаҿы
ишаныз уа ижу аибашьцәа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи. Насгьы агәҭа ашашараҿы ишану «Чыргба Иван Хынтрыгәиҧа – ҳәа. Ивангьы еиликаарц ииҭахызгьы уи акәын.
Иван истудент ииҳәаз азирхаргьы ҟалон, аха иара ихаҭа,
иблақәа ирымбакәа, Аҧсны днеины аҳәара, иара иламыс иаҵанамкит. Ушьҭа қәнагала ианеиликаа, Наташа
илеиҳәеит, абаҟа апатреҭ ҭылхырц. «Акы ҧхасҭахаргьы
акы нхап», – лгәахәын, акырынтә аешьаратә нышәынҭра
апатреҭ ҭылхит Наташа. Абас, ала ари аҭаацәара
аешьаратә нышәынҭрахь раара қәкыс ирмаз нагӡаны,
ахәылҧаз излааз атакси ала рыҩны иааит. Дара рыҩны
ианааи, аухаҵәҟьа, Аҧсныҟа рцара аҿҳәарагьы арҭеит.
Ивани Марусиеи аусқәа ахьыруаз, ҧсшьара ҳәа ианцоз,
аамҭа иақәдыршәеит. Ҳәарас иаҭахузеи, ус адагьы уаҳа
ҧсыхәа амамызт. Уи амш ааира ҭаацәала, иахыццакуа,
аҽазыҟаҵара иаҿын.
а
тәи ахы
Иааит уи амшгьы. Аҟәаҟа иаауаз адәыҕба, «Ростов
– Аҟәа» инҭалан Гәдоуҭа иааит. Гәдоуҭатәи авокзал
аҩнуҵаҟа иҟаз аҵәахырҭаҿы, рчамаданқәа ааныжьны,
дара шиашаз, амшын ахь ицеит. Сааҭк аҟара амшын
аҿы иҟан, нас инеин, крыфарҭак аҿы, акы инацҳаит.
Акрыфа-акрыжә ақалақь иналалан, иахьыҩналауаз
ауада ҧшааны, таксик ааныркылан, Шларҭаҧа иааит Шларҭаҧа агәаҿы атаксии ааныркылан, иллыбааит
иақәтәаз зегьы. Иван иҭаацәеи иареи, уаҩ дук иҭыӡҭыԥ
ала иаазар, усҟан, изышьҭоу иҧшаара мариахон, аха
жәеиза шықәса зхыҵуа ахәыҷы дыздыруада? Иара ашкол дҭан, ахәыҷқәа аурмышьҭыцзар, ашкол аҿы иҵаар,
дрыҧшаар, рылшон. Аха ахәыҷқәа ашкол иаурыжьхьан.
Иара атакси ныҟәцаҩ иакәзаргьы, ари ақыҭа иатәқәоу,
иқәлацәа иидырқәоз ыҟан, аха ахәыҷқәа абеидыруаз? Ус егьа иҟазаргьы, Хәымса иҧшаара уадаҩмхеит.
Атакси аныҟәцаҩ ақыҭсовет ахь дцеит. Астаршна икабинет аҧхьа днеит, иаркыз ашә днас-насын, иааиртит.
Ара итәан, ақыҭа астаршнеи, нас уи имаӡаныҟәгаҩи.
Атакси аныҟәцаҩ, дара аныҩагыла, рнапқәа аарымхуа
аҧсшәа реиҳәеит, нас иара дызханеизгьы реиҳәеит.
Хәымса иӡбахә анаараҳа, иаразнак дырдырит асҭаршнеи
амаӡаныҟәгаҩи. Урҭ уамашәагьы ирбеит, уаҩы наӡак
иеиҧш, ари ахәыҷы ауаа дырдыруа, ауаа изаауа,
дахьыҟалаз.
- Убыржәы, сҩагыланы, уахь сцап ҳәа акәын сгәы иҭаз.
Сара шәсымгои, - аҭыҧ шәымазар, – иҳәеит асҭаршна.
- Аҭыҧ ыҟоуп, шәаала, иахьышәҭахугьы шәназгап,
ҳаргьы ҳзышьҭоу даабап, - иҳәан асҭаршна днеиҿаҧшит
атакси ныҟәцаҩ.
Асҭаршна дындәылҵит. Атакси ныҟәцаҩ амаӡаныҟәгаҩ инапы ааимихын, аҧсшәа наиаҳәаны, иаргьы
дындәылҵит. Асҭаршнеи иареи еицны, атакси ахьгылаз
иҩеины, инақәтәеит, иара убас инақәтәеит, уаанӡатәи
ипасаџьырцәагьы. Дук
мырҵыкәа атакси Хәымса
игәашә инылагылеит. Раҧхьа асҭаршна дыллыбааит, нас
иллыбааит, егьырҭ иақәтәақәаз зегьы, атакси ныҟәцаҩ
раҧхьа днаргыланы. Урҭ шыллыбааз еиҧш, асҭаршна
«иҭабуп сахьаажәгаз, шәара шәзышьҭоу, аброуп дахьынхо», - иҳәан агәашә надирбан, нас иара дцар ахьиҭахыз
ахь иҿынеихеит.
Асасцәа иааиз, инзыдгылаз агәашә инхыҧшны,
агәара хәыҷы цқьакәакәараӡа инҭаҧшит. Акыр еизааигәацәоума, уҳәартә еиҧш, агәара иҭагылан: акәасқьа,
амаҵурҭа, аца. Ақәтыртәара акыр иласкьаганы, ауҭра
иҭагаланы игылан. Агәара хәажә быцалеи, масар
ҵәҩанлеи иаакәыршаны икын. Абарҭ зегьы, уахьрыхәаҧшуаз иубон, акыр ахәажәцәа шырхаз, акыргьы ақәра
шрымаз. Агәашә нҭыҵ игылақәаз лылаҧш нрықәшәеит
Маниа. «Иаҳзааз зусҭцәада»? – аалгәахәын, дыццакыццакуа, агәара дықәланы лҿыналхеит.
Маниа дара рахь дааиуазшәа анырба, атакси ныҟәцаҩ
аҧшәмара ааникылан, агәашә аартны дааҭалеит. Уи
ишьҭаланы иааҭалеит Иван иҭаацәеи иареи.
- Бзиала шәаабеит, – лҳәеит Маниа дшынырҧылаз
еиҧш, леилаҳәашьа ҧхашьо.
- Бзиара жәбааит, – рҳәеит иеицыз зегьы.
Уи аамҭазы, акәасқьа ашьҭахьҟа, «аҷыгә-ҷыгә», –
ҳәа Хәымса аҽага ахьикәуаз акәабжьы ааҩуан. Уи аҩны
дшыҟаз рдырит.
- Ҳара даҳҭахуп Хәымса, - иҳәеит Иван, Маниа лахь
ихы наирхан.
- Уи ара дыҟами, уажәыҵәҟьа даазгоит, шәара зны,
ашьашәыр аҿы, шәаатәа, – лҳәан аирымӡ астол иахьадгылаз ахь лнапы налырххан, лара аҽага акәабжьы ахьгоз, ааҵрахь, лҿыналхеит. Маниа лыҷкәын даалгарц,
данца ашьҭахь:
«Арахь шәааины, шәаатәақәа», – иҳәан атакси аныҟәцаҩ раҧхьа аирымӡ ахьгылаз ахь иҿынеихеит, егьырҭ
игылақәазгьы, уи инаишьҭалеит. Дара тәаанӡа Хәымса
иани иареи ааҵра иаавҵны, асасцәа рахь рҿаархеит.
Хәымса исасцәа дшынрыхәаҧшыз еиҧш, иаразнак идырит. Уи изымдырыз, уажәада иимбацыз атакси ныҟәцаҩ
иакәын. Дыччо, даарҧылеит Хәымса исасцәа. Раҧхьа
дгәыдкыланы аҧсшәа иалҳәеит Марусиа. Нас дқьызқьызуа аҵәыуара дналагеит. Нас аҧсшәа иарҳәеит
Ивани Наташеи. Урҭгьы рылаҕырӡқәа аахыжжылеит. Аҵыхәтәан, рнапқәа ааимырхит атакси ныҟәцаҩи
Хәымсеи.
Иҟалаз рыздыруам атакси ныҟәцаҩи Маниеи. Хәымса
арҭ ирыхьыз еиликааит. Избанзар, «ҳаҷкәын даара
уеиҧшуп», ҳәа ҵыҧх уажәааны, астанциаҿы, аҧсшәа
аниарҳәоз, ааигәалашәеит уажәы.
Хәымса иан лахь ихы наирхан:
– Сан, «ҳаҷкәын даара уиеиҧшуп», ҳәа аҧара сызҭаз
роуп. Ростовтәқәоуп дара. Сара саб Ростов ааигәара ибаҟа
гылоуп ҳәа анрасҳәа, уи еилкааны, апатреҭ ҭы-хны иузаазгоит, нас уаргьы уахь уганы иусырбоит,ҳәа сеиҳәеит.
Маниеи атакси ныҟәцаҩи шанханы иҧшуан. Иван
Хәымса ииҳәақәоз ажәақәа изеилкаауамызт, аха иеиликааит Хәымса иаб изы, Ивани иареи, ҵыҧх уа-жәааны,
иеибырҳәаз атәы дшалацәажәоз. Убри аҟнытә, Иван
иҧҳа лахь ихы наирхан:
- Наташа, иаацәыргеишь, арахь, апатреҭ иҭыбхыз?
- Уажәыҵәҟьа, – лҳәан лсумка иааҭылгеит апатреҭ, аешьаратә нышәынҭра иахагылаз абаҟа апатреҭ. Уи Наташа
иахьылкыз, Иван иаалымихын, зны иара днахәаҧшит,
нас Хәымса инаииркит. Хәымса зынӡа изымдырӡуаз иаб
изы раҧхьаӡа акәны илаҕырӡ иблақәа иаархыжжылеит. Изкыз иааимхны днахәаҧшит Маниа. Уи лылаҧш
нақәшәеит иахьаныз, «Чыргба Иван Хынтрыгә – иҧа»
ҳәа. Нас атаксиныҟәцаҩ инилырбеит.
- Хәымса, сара исҳәаз насмыгӡеи? – иҳәеит Иван
Хәымса дихәаҧшуа.
- Ааи, инашәыгӡеит, – иҳәеит Хәымса дыҧхашьаҧхаҵо.
- Иуҭахызар, уганы урбарагьы сылшоит, сара схарџь
ала.
- Исҭахуп, аха сеилахоуп.
- Уанеилахамгьы мшык ҟалап, - лҳәан Марусиагьы
лажәа налалҵеит.
- Уахь ицо ҳара ҳаума? – лҳәеит Маниа дахьгылаз. Нас
«асацәа срыцны сааизшәа, срыхәаҧшуа сышҧагылоу», лҳәан Маниа днагьежьны днеин, амаҵурҭа дныҩналеит.
- Ируазар, иааныскылап, бысҭакгьы рзызуп, - лҳәан
ахьурӡы нҭаҭәаны, ачуан ахнышьра инкналҳаит. Ирымуазар, «ҳамцар аауам», – рҳәозар, - лҳәан дамеигӡакәа,
ача ххны, ачанахқәа ирынҵаны, астол инықәлыргылеит.
Ашә ҟәаҟәаса иххны, ачанахқәа ирынҵаны, ача зныз
ачанах инавалыргылт. Аҩи ауаҭкеи нрывалыргылеит.
Маниа урҭ дахьынӡарҿыз ахьурӡы шын, аџьаџьа нҭалыҧсеит. «Ушьҭа сысасцәа астол ахь саарыҧхьап», –
лҳәан дындәылҵит.
- Иҳамоу ахәыҷы ала, акы шәнацҳар, сҭахуп, арахь
шәааи, - лҳәан Маниа лыбжьы налыргеит.
- Ҳхәы ҟалҵеит, ҳамнеикәа цашьа ҳамаӡам, - иҳәан
атакси ныҟәцаҩ раҧхьа дгыланы иҿынеихеит.
- Аҧсуаа шәҵасқәа здыруеит акәымзар, ҳнеиуамызт,
- иҳәан Ивангьы урҭ днарышьҭалеит. Марусиеи Наташеи, Иван дахьнеиуа, ицымкәа аангылашьа рымазма?
Урҭгьы уахь рҿынархеит. «Аҧсуаҵас» - рҳәан раҧхьа
Хәымса инапқәа идырӡәӡәеит, нас Иван. Уи ишьҭахь,
атакси ныҟәцаҩ. Аҵыхәан – Марусиеи Наташеи. Хәымса
арыжәтә ижәуам дхәыҷуп, атакси ныҟәцаҩ аҧсҟы икуп.
Ивани Марусиеи фырџьанк-фырџьанк ауаҭкеи, ҩба-ҩба
аҵәыца аҩи ржәит, ибзианы, акрырфеит. Маниа лгәы
иалан, лгәара азна акәтқәа шыҟаз, аха лысасцәа рзыҳәан
акы ахәда ахьлызхымҵәаз. Уи ус злыхьыз лысасцәа ццакны илыцәцар ҳәа дшәаны ауп, мамзар қәтык рзымшькәа
луазма?
Хазы, лара дгәырҕьаҵәа дыҟан, ҵыҧх аҵкьыс,
сынтәа дбарқьаҭха дахьыҟаз. Хәымса иҩызцәа ицхрааны аџьықәреи иирашәаз бзианы иҟалеит. ҵыҧх имхьаз
лыжәқәа, сынтәа илызхьеит. Рҭаҭын аплан нарыгӡеит,
луалқәа хнаҩеит. Иҵаукыша цәык лҭиин, аҧарагьы
лымоуп. Издыруада аҧсуа чыс рҭахымзар, ирфаша
злаархәашагьы аҧара лыман. Луадақәа цқьан, илашан.
Лара илҭахын, дара ируазар, лара лҿы иаангыларц, дара
ирҭаху амшын акәзар, ирзааигәан. Акрыфаны ианалга,
иҩагылан, рнапқәа аарыӡәӡәан, ҧыхьа иахьтәаз ашьашәыр аҿы инеины инатәеит асасцәа.
Убри аамҭазы, Маниа днеины Марусиа лыжәҩа аанылкылан:
- Аранӡа баалеи, маӡак басҳәар сҭахуп, - лҳәеит Маниа.
- Ибзиоуп, - лҳәан Марусиа дҩагылан, Маниа длыцны
лҿыналхеит. Рыҩџьагьы иеицны акәасқьа иҩыхәнеит.
Иахьыҩыхәназ, ауадақәа ҩба аман. Ахҧатәи ауада
хәыҷгьы, абарҵа иадҟаҵаланы иҟан. Уа Хәымса диауан.
Маниа дахьиауаз, хкаруаҭк ҩнагылан. Асасааирҭа ҳәа
иахьыҟаз, ҧшькаруаҭк ҩнагылан. Азхаз астол гылан,
иаакәыршаны аскамқәа адыргыланы. Иҩнагылақәоу
ракәӡам аус злоу ицқьакәакәараӡа, ахаафҩы ҩнышәшәо
иҟан. Арҭ ауадақәа ирыҩнаҧшыз, иеилимкаарц залшомызт Маниа аҽрыцқьаразы, лҩыза ҧҳәыск лашьҭахь
дшаанымгылоз. Абарҭ днарыҩнарҧшны, Марусиа ианыллырба, Марусиа даара лгәы иаахәеит. Марусиа лгәы
ишаахәаз анылба, Маниагьы даагәырҕьан, Марусиа лхы
налықәкны:
- Ара бзаазгаз бдыруоу?
- Иззы?
- Ихәымгамшьакәа шәаангылозар ҳәа ауп. Ҳанхашьа
шәгәаҧхозар, џьара шәцар сҭахым аиаша басҳәап.
- Иарбан ихәынгаҳшьо, аҳҭынра еиҧш, еиҿкааупеи?
Иугәамҧхо иҟоума? Аха ҳара Гәдоуҭа ауада амхны иҳамоуп,
ҳамаҭәақәагьы уа иҟоуп.
- Шәымаҭәақәа раагара уадаҩӡам. Сшәыҳәоит шәыҧсы ахьынӡашәшьо сара сҿы шәыҟазарц. Ишыжәбо еиҧш,
амшынгьы дук ҳацәыхарам. Иаҳфо-иаажәуа рзы ҳрыцҳам,
ахә шәаны ақалақь аҿы, ауада шәыҩназар аҵкьыс, ара
еиҕьуп сара сгәанала.
- Ҳара ара ҳаангылозар, ахә ҳшәароуп.
-Ус иҟалаӡом.
- Нас иаабап.
- Аиеи, нас, уи нас иаабап. Уажәы, быҧшәма биацәажәаны бнапаҿы даага.
- Уи мыҩтәык иацәажәара аҭахӡам, есымша снапаҿы
дыҟоуп, иасҳәеит, иҟалеит ауп.
- Уи ауми абзиа.
Арҭ аҩҳәсак еибадыруеижьҭеи ҩажәаҟа шықәса
ҵуазшәа ҟазшьала еиқәшәаны, еинаалеит. Дара шеицәажәоз, ашьашәырҵа инеит. Марусиа аҧхьа дахьтәаз, лҭыҧ
аҿы днеины длатәеит. Маниа уи дылхагылан.
- Ушьҭа ҳцалап, Гәдоуҭа ҳаҧсы шьаны, аҩныҟа ҳанцогьы,
хымҧада ҳаакыдгылоит, - иҳәан Иван дҩагылеит. Уи
даныҩагыла, егьырҭ итәақәазгьы ҩагылеит. «Ушьҭа ҳцоит»
- ҳәа рыгәқәа иаарҭакны. Убасҟан, Марусиа дыччо, лыбжьы
аалыргеит:
- Ҳахьцо абыкәу, ара шәыҟазароуп, шәанца, сшәызгәаауеит, – лҳәеит Маниа. Уи схылхын, илҳәаз сақәшаҭалтәит.
- Бара ишыбҭаху, - аҭак ҟаиҵеит Иван.
- Аҧсшьаразы, ара еиҳагьы еиҕьуп, аеҵәара улашьшьы
ишҧабзиоу араҟа, - лҳәеит Наташагьы.
- Ус акәзар, сара сцап, ишәзеиҕьасшьоит ибзианы
шәыҧсы шәшьарц, – иҳәан дҩагылеит атакси аныҟәцаҩ.
- Уца, уца, - рҳәеит Маниеи Марусиеи.
- Даара иҭабуп, апату иҳақәышәҵаз азы, – иҳәеит
атакси ныҟәцаҩ ицамҭаз Иван.
- Ҳаагаҧсахә, - иҳәан Иван иџьаба аҧара ааҭихын,
атакси ныҟәцаҩ инаииҭеит. Атакси ныҟәцаҩ Иван ииҭаз
аҧарақәа ааиҧхьаӡан: «амцхә суҭеит», – иҳәан ҧыҭк
иргьежьырц далагеит, аха Иван имуит. Уи акәхеит атакси ныҟәцаҩ дцеит, иааигаз апасажьырцәа ашьашәыр
аҿы иштәаз. Маниа амаҵурҭахь днеит, изхыҵыз астол
иқәгылоу ачанахқәеи, аҵәцақәеи уҳәа ӡәӡәаны, астол
рыцқьаны иҟалҵарц азы.
Ари Марусиа иеилылкаан, Маниа длыцхраарц дналышьҭалеит. Маниа ачанахқәа рыӡәӡәара дшаҿыз, Марусиагьы дааин, Маниа лыцхраара дналагеит.
- Баҟәыҵ, Марусиа, сбыкәыхшоуп, сара исыӡәӡәоит.
- Ҳаицхыраар, еиҳа еиҕьуп, ирласны ҳалгоит.
- Сара сымч ақәхоит, бара бызсырааҧсарызеи?
- Ари ааҧсараӡам, ҳшеицхыраауа, ҳагьеицәажәалап,
цқьагьы ҳаибадырп.
- Ааи, ус, ауп, сызкәыхшоу.
- Маниа, бара ахәыҷ бзиа дбымоуп, дыбҧылааит,
дышәҩыкхааит.
- Иҭабуп, Марусиа. Абзиара анилало,ибзианы дузааӡар,
ауп. Аҽага дахаршәны ибзианы дузааӡома?
- Ааи, уи иашоуп, -лҳәан даақәыҧсычҳаит, Маниа.
- Саргьы аҷкәын бзиа дсыман, аха…
- Нас, – лҳәеит Маниа Марусиа лҳәашьа аалцәымҕахан.
- Аибашьраҿы дҭахеит, - лҳәан лҭоурых аҳәара дналагеит. Уи илҳәеит, лыҧшәмеи лареи рыҷкәын Сериожа
дрыцны ишнеиуаз, аҕа иҳаирплан абомба иканажьыз
дшашьыз. Хәымсеи дареи шеиқәшәаз. Хәымсеи Сериожеи шеиҟараз, ишеиҧшыз. Хәымса дылбеижьҭеи Сериожа ицәа шихылбаауа, еснагь дылбалар шылҭаху. Арахь,
Аҧсныҟа раарагьы зыхҟьаз еиҳарак, Хәымса дылбаларц ахьылҭаху азы шакәу. Уи адагьы лгәы шыбзиам.
Аҳақьымцәа ишлабжьаргаз, Амшын еиқәа ааигәара
ҧсшьара дцаларц шылзеиҕьу. Лыҧшәмеи лареи аусқәа
ахьыруа уҳәа лҭоурых зегьы. Марусиа дцәажәонаҵы
аҵәыуара даҿын. Уи длыцҵәыуон Маниагьы. Маниагьы
илҳәеит, лыҧшәма абашьраҿы дышҭахаз, аибашьра данцоз, Хәымса дшымицыз. Ақыҭаҿы инхо, хәыҷгьы дугьы
аплан шрықәу, аус ахьыруа, акгьы шырмоуа, рахәымзар,
рхы зларбо, акгьы шрмам. Уи лыҷкәын заҵә ишихәҭоу,
дшылзымааӡо, уҳәа лгәалақәа зегьы. Аха, нас дхәыцын,
лхы дахьахашшаауа, дара рхы ахырбаар ҳәа дшәаны
аҽхәара далагеит. Уи илҳәеит сынтәа рҽаҩра бзианы ишыҟалаз. Лыжәқәа ҵыҧх ишымхьаз, аха сынтәа
хәыжәхьак шылхьо. Урҭ хшла ишыбзиоу. Ахш-харҵәы
азы ишыбарақәаҭу.
Марусиеи Маниеи абас ишеицәажәоз, акрызларфаз
рчанахқәеи раҵәцақәеи уҳәа зегьы ӡәӡәаны, мпахьшьы
цқьала ирбаны, рдулаҧ инҭадыргылеит. Нас рыҩџьагьы
иеицны, ашьашәыр ахь инеин, даргьы уа инатәеит. Урҭ
шынатәаз еиҧш, Маниа даацәажәан:
- Нан, Хәымса, ҳасасцәа уманы, амшын ахь уца. Амҩа
дырба, уаргьы уҧсы ушьап. Уажәыҵәҟьа, еилахара ҳәа
уамак ҳамаӡам.
- Ибзиоуп, сызрыцымцои, сан? – иҳәеит Хәымса
дгәырҕьаҵәа. Хәымса иҩызцәа зегь реиҧш, амшын
ахь дцало дызбахьадаз, есымша иан длыцын, дызҿыз
длыцаҿын. Маниа илҳәаз Марусиеи Ивани ргәы иаахәеит.
Убасҟан Марусиа Маниа лхы налықәкны даацәажәеит:
- Баргьы бҳацаала амшын ахь.
- Амшын ахь ацаха сара исызҭода сусқәеи сареи
ҳшыҟоу ала?
- Аусқәа рыгәхьаа бымкын. Аусқәа рымала брызхәыцуа
балагар, ус нҵәа ҟалаӡом,аҧсшьарагьы аҭахуп. Зыҧсы
мшьаӡакәа аус зуа иаҵкьыс, ианаамҭоу зыҧсы шьаны, зус
инахагыло, еиҳа аус ицааиуеит, насгьы ҳара ҳахьынӡаҟоу,
ҳбыцхраалоит, есымша амшын ахь ҳамцалар ҟамло
ҳауҟаху, - иҳәеит Иван.
- Иван аусура даара бзиа избоит, «сбыцхраауеит»
иҳәазар, иажәа наигӡоит, - лҳәеит Марусиа.
- Иван аус аниуа, Марусиагьы уа дивагылароуп, иҳәеит Иван дыччо.
- Уи Марусиа мап, ацәылкӡауам, – лҳәан дааччеит Марусиагьы.
- Ишәҳәо закәи, заҟа аус шәысмыруша, шәара
шәсасцәоуп. Сара аҧсуа ҵас еилазгома? – лҳәан Маниа
лысасцәа лаҧшы хаала днарыхәаҧшит.
Асасцәеи аҧшәмацәеи акраамҭа еицәажәо итәан.
Нас Маниа ишылҳәаз еиҧш лысасцәа Хәымса дрыцны
амшын ахь ицеит. Маниа ауха ҽагакра дымцаӡеит. Лара
лысасцәа амшын ахь ианца ашьҭахь, қәтык лшьын, уаххьа ҳәа лысасцәа рхәы ҟалҵеит. Маниа лысасцәа ахьыҟаз
даара лгәы иахәон. «Акы сыцәрыгымхандаз» – ҳәа акәын
илхәыцуаз лара. Дара амшын аҿынтәи аҩны иааит амш
ааилашәшәамҭаз. Хаҵеи-ҧҳәыси гәырҕьаҵәа ирҳәеит,
ара аҭыҧ даара ишыҧшӡоу, ақалақь аҿы аҧсшьара аасҭа
акырӡа ишеиҕьу. Урҭ ирҳәоз Маниа лгәы иаахәан:
- Ус ибзиазар, иахьынӡашәҭаху шәыҧсы шәшьа,
шәахызбаауада? Шәыҩны шәыҟоушәа шәыҧхьаӡа.
- Иҭабуп, – рҳәеит Марусиагьы Ивангьы.
Дара амшын ахь иахьынӡаҟаз, Маниа рхәы иҟалҵаз
аацәырылган, заа акрыфаны ишьҭалеит.
Ашьыжь ианыҩагыла, ақалақь ахь ицеит, ауада ахьамырхыз, инрыжьыз рымаҭәақәа ааргаразы. Ақалақь ахь
иахьцаз, рымаҭәақәа ахьаанрыжьыз, ицаны, цәыкьа
иааит рымаҭәақәа рыманы. Рымаҭәақәа иахьиауаз
иныҟаҵаны, дара ашьашәыр аҿы рыҧсы ршьон.
- Иахьа амшын ахь ҳцаӡом, рашәара ҳцоит, – иҳәеит
Иван. Ари Маниа ианаалаҳа:
- Шәара рашәара ҳәа арахь шәмааӡеит, ҧсшьара ҳәа
ауп шәшааз, шәыҧсы шәшьароуп.
Ашықәс дуӡӡа усуроуп шәызҿу, сара аҽага шҧашәсыркуеи?
- Ҳара ҳзыҳәан аҽагакрагьы ҧсшьароуп.
- Иван ииҳәо иашоуп.
- Амшын ахь шәымцозаргьы, ашьашәыр аҿы шәыҧсы
шәшьаргьы ҟалоит.
Абас ажәа шеимаркуаз, амра ҵлакы ашәара аҿынӡа
илеит. Хәымсеи Маниеи рҽагақәа аашьҭыхны, рҭаҭын
ҭрахь рашәара ҳәа рҿанынарха, аҽагақәа ахькыдгылаз,
иаанхаз ҩ-ҽагак аакыдихын:
- Баала, Марусиа, – иҳәан Иван Маниеи Хәымсеи днарышьҭалеит. Марусиагьы Иван дишьҭаланы лҿыналхеит.
Наташа акәасқьахь дыҩхалеит. Арии збаз Маниеи
Хәымсеи ирцәымҕахан, иҧхаршьеит.
- Ҳара аҽага шәҳаркырц аума, «ҳара ҳҿы шәаангыл»
ҳәа зшәаҳҳәаз. – лҳәеит Маниа Хәымса даацәажәан:
-Шьгьежьы, сшәыҳәоит, – иҳәеит, аха дара ирымуит.
Ҧшьҩы уаа аҭаҭынҭра илыхгылан, еивагыланы, аҽага
ааныркылеит. Дара рашәара ҳәа ианнеиуаз, акыр амра
леихьан, аха ибзианы аус руит, акыргьы рыҵаҧҽит.
- Ҳшаҿу ҳалгоит, даҽа хымшҟа аус ааур, – иҳәеит
Иван.
- Ҳашҧалымгои? – лҳәеит Марусиа.
Арҭ ас ахьырҳәоз, Хәымсеи Маниеи иҧхаршьон, аха
ирҳәози? Дара ртәала, ари даара ҧхашьарас ирҧхьаӡон.
Ивани Марусиеи ирҳәаз нарыгӡеит. Ҧшьымш еиқәырццакны, хәылҧазыла аҽага ркын, иалгеит рҭаҭын
арашәара. Идрашәаз аҭаҭын аҧштәы аҧсахын, ииаҵәҟаҟараӡа, угәы иаахәартә азҳара иалагеит. Ауаҩы иааҧсара аныҧхасҭамхо, иагьа дааҧсаргьы, дааҧсас

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
- Büleklär
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3616Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3601Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3561Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3536Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3531Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3469Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3534Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3505Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3513Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3596Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3535Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3504Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3559Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3527Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3591Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3523Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3533Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3455Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3480Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3528Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аамҭа цәгьақәа раан. - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.