Latin

Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 04

Общее количество слов 3557
Общее количество уникальных слов составляет 2417
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Усҟантәи аамҭазы ақалақьаҿы иҟаӡамызт аԥсуаа аԥсуа
школ аҿы аҵара ахьырҵоз, убри азыҳәан А. С. Пушкин
ихьӡ зху аҩбатәи аурыс школ сҭеиҵоит. Ҩы­­шықәса Кәтол
аҵара шысҵахьазгьы, аурыс бызшәа ахьыс­зымдыруаз
азы, класск сеиҵатәны сиртәоит. Шықә­сык ашьҭахь иа-

атуеит Аҟәатәи 3-тәи аԥсуа школ; уахь сииаигоит. Ҩы­
шықәса ааҵуаны, ахԥатәи ашкол аҿы аҵара зҵоз аԥ­
суаа реиҳараҩӡак ҳаиаргоит иаԥсуа школ­ны иҟарҵаз
Аҟәатәи 10-тәи ашкол ахь. Абра, 1962 шықә­сазы салгоит
абжьаратә школ, сагьҭалоит М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи
арҵаҩратә институт, аҳәаанырцәтәи абыз­шәақәа рфакультет. Аҩбатәи акурс сыштәаз арра сыргоит. Хышықәса
аррмаҵура схызгеит. Сгьежьны санааи, аҭоурыхтә факультетахь сиасуеит, сагьалгоит 1970 шықәсазы.
Санхәыҷыз аахыс зааигәа сыҟаз, иахьеи-уахеи избоз
ауааԥсыра – ҳажәлантәқәа, иара ус ҳгәылацәа, рыԥхар­
ра сныруан, аӡәгьы дсықәыцәҟьаны иҟамлацызт. Иҟа­лап
абыда иахьсызҳауаз, насгьы саб иаҳаҭыр азы акәызҭ­гьы
урҭ гәыблыла изсыҟаз, аиашазы, саргьы схәыҷыхԥа­
раны сыҟамызт.
Ашкол санҭаз, аа-класск срылгаанӡа, есԥхынра, аԥс­
шьара мшқәа раан, ақыҭахь, санду лахь срышьҭуан. Уа
дыҟан жәаха шықәса сара саҵкыс еиҳабыз саб иашьа
еиҵбы Нури, иашьеиҳабра сзызуаз. Саргьы абри аам­
ҭа сазыԥшын. Сара снеиаанӡа, санду лыԥҳа еиҳабы
лҟын­тәи аӡәымкәа илымаз лмаҭацәа ҳаҩны ианааилак, аӡырла злалахьаз ашәыр рфар луӡомызт, «макьана
с-Дажә (ус хьыӡҷыданы исалҳәон) агьама имбаӡац» ҳәа.
Саб иашьа, санду лҟынтәи аԥсшьара мшқәа нҵәаны
санааилак, мамзаргьы џьара данцоз, ма данаауаз, даа­
сыԥхьаны сӡамҩа иҩнацәак инарыбжьакны, нас дныр­
ҩаханы игәыӡуан. Уи агәыдкылара иахаҭыԥны иҟаз акы
акәын. Сара даара сгәы ҟанаҵон, иҷыдоу бзиабарак,
гәыбылрак аҵызбаауан.
Абри сахьиз, иахьсызҳаз Тур ихәаҿы доуҳатә беиа­
рак ықәымкәа иҟамызт. Иҟалап уи ҟазҵоз аҭыԥ аԥш­
ӡара акәызҭгьы. Тур ихәы аҩганк рыҵан аӡиас хәыҷқәа
мҩасуан, аҟьаҟьарахь ианнеиуаз еилалоз. Уи азы акә­

харын аҩӡиаскгьы Лаӷәашь зрыхьӡыз. Ахәы аҟынтәи
амшын ухыԥшылон, ихыз акьанџьақәеи аӷбақәеи иб­
зианы иубарҭан. Амшынахь улаԥш урхаанӡа, хыхьынтәи
уалаԥшуан ҵиаа хкыла еилышьыз абнаршәыра ду Ҷа­
ҷал. Амшынгаҿала ицоз адәыӷбақәа рыбжьы ықәыҩуан.
Сара сабду Шьардын сихьымӡеит, аха ирҳәо исаҳа­
хьеит, аибашьра ианалага, саб иԥҳәысаагара иара
иша­ԥшьигаз. Ус изиҭахыз аҳәара аҭахны исыԥхьаӡом,
иара усгьы еилкаау џьысшьоит. Сабду зыхшыҩ ҵаулаз,
хара ихәыцуаз шиакәыз ҩашьомызт. Ажәак ала, сшара
зыӡбыз иара иоуп.
Сабду ихаан аахыс ҳаҩнаҭа ауаа агханы иҟамлацызт.
Хәылбыҽхала абрахь еизон аҿар – арԥарцәеи аҭыԥ­
ҳацәеи, аҳаблаҿы инхоз рыдагьы Кәтол агәы аҟынтәи,
Џьгьардантәи. Уи атрадициа инерциала, сабду даны­
ҟамлагьы иаауан, саргьы сахьӡеит. Сабду даныҟаз, еи­
ҳарак аҿар еизызгоз, ирзеиҭеиҳәоз ажәабжьқәеи алакә­
қәеи ракәын. Сзааӡаз саб иашьа, абри аамҭа игәа­лаир­
шәо исеиҳәон, иаб Шьардын уахык еиҭеиҳәаз алакә,
аҽа­знык ишцәыримгоз, ианакәызаалакгьы лакә ҿыцк
шыдирҳауаз, ари даара иџьоушьартә иҟоуп. Аха урҭқәа
разҳәоз даныҟамлагьы, аҿар арахь имҩахыҵуан, дара
ахәмаррақәа аԥшьыргон, ачамгәыр, аԥандур адырҳәон,
ашәа ацырҳәон, рлафқәа, рыцуфарақәа нҵәомызт.
Ҽынла сҩызцәа хәыҷқәа хәмарырҭас ирымаз ԥш­
ӡа­ра згымыз ҳашҭа еихых-еиҵых акәын. Ара еизоз
ахәыҷ­қәа зегьы раасҭа сара среиҵбын, аха рызха­ра
ихәмар­ны, иааԥса-икараха, амжәа ашәшьыраҿы ианаа­
тәалак: «Ушь­ҭа Ҭарасхан иученик лакәк ҳзеи­ҭаҳәеи»
ҳәа сых­ҭар­куан. Ҭарасхан зыхьӡыз сабду иашьеи­
ҳаб, зҿаԥыц ӷәӷәаз, жәлар рыӡбаҩцәа ируаӡәкыз Ха­
кәыцә-иԥа иакәын. Даара бзиа сибон, џьара дыҟаны
сзеигәырӷьаша акы нысзааимгоз ыҟамызт. Ҳаҩнқәа

иааигәаны еивагылан, сыхьӡ ҳәаны иҩныҟа снеигон,
сирхәмаруан, алакәқәа сзеиҭеиҳәон, Хәаџьа Шьардын
илакәқәа инадыркны.
Ҳаҩны иҟан зышьҭыхра сцәыуадаҩыз, зцәагьы зыб­­
ӷьыцқәагьы даараӡа ижәпаз, сахьа рацәала ирхиаз
«Абжьасцәа зшәу» зыхьӡыз ашәҟәы. Уи ианааиртлак,
напҩыраԥшӡала урысшәала иақәҩын, саб иашьа иҩы­
зак иҟынтәи гәаларшәагас ишииҭаз атәы уазҳәоз.
Ахәыҷқәа анеизалак, абри ашәҟәы сгәыдырӷәӷәала иааганы иаарымҵасҵон, нас абӷьыцқәа аартуа, асахьақәа
рҿы ианыз изусҭцәаз, излацәажәо атәы раҳәара сала­гон.
Иахьагьы исгәалашәом урҭ Тариелраа, Авҭандилраа,
Ҭинаҭин, Нестан, Дариџьан уҳәа рыӡбахә зҟынтә исаҳаз.
Иҟалап Мушьни Миқаиа, Владимир Касланӡиа, ма Қар­
беи Касланӡиа рыбжьы ҭыганы иаԥхьозҭгьы, сара усҟан
смаҷӡазар акәхарын, исаҳауаз сгәалашәараҿы иаа­
нымхакәа иҟамызт. Ус сгәы изаанаго, ҽнак, усҟан хԥаҟа
шықәса среиҳамызт, Ҭарасхан иҿы сшыҟаз, аколнхарахь иҟаз иҷкәын Қарбеи, ашҭа дааҭалеит. Аб иԥа акы
еиҳәарц шиҭахыз ихаҿы иқәибаазар акәхап: «Изакәи
Қарбеи, иузымҳәо жәабжьс иумоу?» ҳәа диазҵааит.
Қарбеигьы иаб дицәыԥхашьо, ԥҳәыск лыӡбахә ҳәаны,
лыҵҩақәа шҽеимыз атәы аусураҿы ишиаҳаз иаҳәара
далагеит. Иахьеиԥш исгәалашәоит, сара схы раҳаны
срымҵагыланы срыхәаԥшуа сшырзыӡырҩуаз. Ари
гәаз­ҭаз Ҭарасхан, схы ааишьышьын, ус инациҵеит:
«Ҟьит (ус сеиҳәон иара), уара макьана уеиламдадаӡац
узаҳ­зыӡырҩуазеи?!» иҳәеит, сџьашьашәа даасы­хәаԥ­
шын, Қарбеи иакәзар, ччараха исит, сара, ҳәарада,
изла­цәа­жәоз акымзарак сзеилымкааит усҟан, аха амни
ажәа «уеиламдадаӡац», Қарбеи дзырччаз, схаҿы иаанхеит наунагӡа, саныҩеидас излацәажәозгьы сеил­
наркааит.

Аҟәа ашкол сахьҭаз, уарла-шәарла аӡәы машәыр­шақә
ԥсышәак иааиҿыҵымшәозар, зегьы урыс бызшәала
акәын ишцәажәоз. Абжьааԥны сызцыхәмаруази, ақа­
лақь аҿы сзыцныҟәозгьы еиҭах урысбызшәан ҳазлеи­
цәа­жәоз, аха знык иадамхаргьы, саб иашьа иҩнаҭаҿы
ԥсы­шәамзар даҽа бызшәак смаҳацт, убри иабзоураны,
насгьы схәыҷра ақыҭаҿы иахьымҩасыз ирыбзоураны
аԥсуа бызшәа схатәы бызшәаны исзаанхеит.
Аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раан, саб иашьа идҵала,
2–3 тетрад нбанԥшӡала шәҟәык хҩылааны исырҭәыр
акәын, нас хымԥада дахәаԥшуан, ахәшьара аиҭон. Пату
изақәын нбан ԥшӡала аҩра.
Саныхбыџха, 15 –16 шықәса анысхыҵ, ақыҭарахь
аца­­ра сгәамԥхо сҟалеит, аԥхынра ақалақьаҿы исхызгар
еи­ӷьысшьеит. Ари сҭахра иаҿамгылеит саб иашьагьы уи
иԥшәмаԥҳәыс Кәыҵниа Ҭамара Бинагә-иԥҳаи. Ҭамара
лнапы иҵылхуаз зегьы еиҿкаан, саргьы уи аҟазшьа
сылалааӡон. Абас, ақыҭа сыԥсы шалаз, исызгәамҭаӡо
ақалақьахь сыбзиабара аиасра иаҿызаарын, ажәакала,
сықалақь ҷкәынхон, аха жәшықәса исоуз ақыҭа ааӡара,
зегь акоуп, иахьа уажәраанӡагьы иснумбаалар ҟалом.
Аиҵбыратәи аклассқәа рҿы сантәаз, асахьаҭыхра
ҳа­хысуан. Сҭыхымҭақәа арҵаҩы азҿлымҳара азыҟал­
ҵеит. Ҽнак ашәҟәы ианыз Герцен данқәыԥшызтәи исахьа аватман қьаадаҿы иҭысхит. Ари збаз арҵаҩы, ашкол адиректор илзылган дызхатәаз астол аҟны иқәҵаз
асаркьа иаҵаҵаны илыман. Сара усҟан апионерцәа
рыҩнаҿы асахьаҭыхратә кружок ахь сныҟәон, ашьҭахь,
асахьаҭыхратә школ анаат, саб иашьа уахь сганы сҭеи­
ҵеит, уа Вера Феодор-иԥҳа Европина ҳәа арҵаҩы бзиагьы
дҳаман. Слырҽхәон, ашәыгақәа ицқьаны иахьеиласҵоз,
аԥштәы бзианы иахьызбоз. Ҽнак, ажурнал «Амцабз»
аҟынтәи иааиз хаҵак, ахәыҷқәа ирҭыхымҭоу сахьак

да­наҳәа, сара акварельла иҭысхыз пеизажк илҭан,
ажур­нал ианын. Асахьаҭыхраҿы схәыдамшәа саниба,
саб иашьа иӡбит Қарҭ асахьаҭыхратә академиа сҭеи­
ҵарц, саргьы сазыразны сыҟан, аха изыхҟьаз сыздыр­
уам, ашкол саналгоз ашықәсан: «Сара сархитектор­
хар еиҳа исҭахуп» ҳәа саб иашьа иасҳәеит. Архитек­тор
бзиа дагьсахьаҭыхҩуп, уигьы мап ацәимкит. Арес­
торан «Амра» архитекторс иамаз иахь сиган, архи­тек­
тура иаҵоу амаанақәа сирҵон, еиуеиԥшым апроек­
циа­қәа сирҟаҵон. Даара игәы сызҭаны сыҟан, саб иашьа дынидҵаалоз, сирҽхәон. Ус ашкол алгара ааи­гәахо
ианалага, Аҟәа ааныжьра, тәымџьара аҟазаара сҭа­
хымхеит, сангьы Қарҭҟа сцара дазгәырӷьо дыҟамызт,
аха лабхәанда иалҳәар лҭахымызт. Аҵыхәтәаны, игәы
нсырхар ҳәа сышшәоз, иасымҳәар амуит. Иасҳәаз,
иааџьасшьартә, ҭынч идикылеит. Уаанӡа: «Уа аҩызцәа
дуқәа сымоуп, хымԥада уаанахәартә иҟасҵоит», ҳәа,
зныкымкәа сгәы ирҭынчуан, аԥышәарақәа ртәы анаа­
цәырызгалак. Уажәы, акыршықәса рышьҭахь агәаа­
нагара соуит, сымцара мап зацәысымкыз. «Иудыруеи,
аӡәы дхылхны уа даанхаӡар» ҳәа дазымхәыцуа ды­
ҟамызт. Санарԥысха исеиҳәалон: «Қыжә, (ус акәын
схәы­ҷы аахыс ишсеиҳәоз) избоит шьҭа аӡәы даау­га­
ра­тәеиԥш ишузҳазгьы, мап сҳәом, аха суҳәоит атәым
милаҭ иреиуоу сыҩны дыҩнаумгалан» ҳәа. Иҳәатәы
сшахымԥозгьы, абри азҵаараҿы сцәанырра сиааит –
хатәҩызас далысхит Урыстәыла инхоз аурыс ҭыԥҳа –
Ольга Уасил-иԥа Мервонцева. Сгәы иҭаскыз шықәсык
исызиаҳәомызт, исзыгәаӷьуамызт, игәы нсырхар сҭа­
хымызт, аха иалысхыз аҭыԥҳа лахь исызцәырҵыз абзиабара сызхымҽит. Саалаган саб иашьа ашәҟәы изызҩит,
сгәы иҭаскыз анҵаны. Аҵыхәтәан абас зыҩуан: «Мап
ҳәа соуҳәар, даазгаӡом, аха нас мышкызынгьы ҽаӡәы

даазымгарашәа схы збоит» ҳәа. Иара иҟынтәи аҭак
са­ҳаанӡа, сан лахьгьы снеиуамызт, саб иашьа иахьгьы. Аус ахьызуаз турбазаҟны сыԥхьон. Ахымш рыҽны
ацҳаражәҳәаҩ дысзынаишьҭит. «Абас еиԥш сзыҟаиҵоит
ҳәа сгәыӷуамызт, аха ус ианиҭахха, мап ицәыскуам», ҳәа
исзааицҳауан. Ҭацас иоуз аурыс ҭыԥҳа даниба инаркны,
иблаҿы дааит, иара иԥсы ҭаҵаны лыӡбахә бзарӡыла
акәын ишиҳәоз.
Арра саныҟаз, актәи ашықәс даараӡа исцәыхьанҭан.
Ахәыҷқәа реиԥш игәхьаазгоз рацәан. Уаҟа ԥсыуак дсы­
цмызт, ԥсыуаҟазшьак збомызт. Избоз зегьы сара сзы
итәымын, сгәы зласҟажари ҳәа схәыцуан. Иарбан ҩы­
мҭоу сызлахаз салызхра ҳәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩы­
м­ҭақәа сгәаласыршәон. Аҵыхәтәан иалысхит М. Лакрба ишәҟәы «Аламыс». Саб иашьа изысыцҳан, лас­сгьы
исзынаишьҭит. Аамҭа ансоулак саԥхьон, Аԥ­сны сы­ҟоу­
шәа, смилаҭ срылоушәа, сахьыҟаз аҭыԥ схадыр­шҭуан
сзыԥхьоз (уаанӡагьы сзыԥхьахьаз) ажәабжьқәа.
Саб иашьа атеатр садиԥхьалон. Аспектакльқәа анцоз сигон, апиеса ҿыцқәа анеилдыргоз саргьы снеигон. «Отелло» даныхәмаруаз, 2 –3 сааҭ аспектакль алагара шагыз атеатрахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон,
сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Нас Отелло ишәҵатәқәа
рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәыҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ах­
ԥатәи аиарусахь сишьҭуан: «Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла» ҳәа насаҳәаны. Саб иашьа 5–6 пиеса
еиҭеигахьан. Ҽнак даасыԥхьан, сааиваиртәан: «Уааи
абри иусырбо уаргьы еиҭага, саргьы еиҭазгоит, еиҳа
еиӷь­ны еиҭазго даабап», – иҳәеит.
Еиҭазгаз саирԥхьеит, нас иара еиҭеигазгьы да­на­
ԥхьа: «Еиҳа еиӷьны еиҭазгада, угәы ишԥаанагои?» ҳәа

дсазҵааит. «Исыздыруам уара еиҭоугазгьы сара еиҭаз­
газгьы ирҳәоу акоуп», сҳәеит. «Уа уиашоуп, аха рҳәашьа
еиԥшума? Аҳәоу убас еиҿкаатәуп, артист ибз ԥнамҽуа,
аҳәара изымарианы; ажәақәа еихышәшәо ицозароуп»,
- иҳәеит. Спиесақәа анызыҩуаз абарҭ ажәақәа есымша
схаҿы иҟан. Убас, санқәыԥшыз, ныҳәак, ма аӡәы имш
ира ҩнаҭак аҿы ианазгәаҳҭоз, сцамҭазы есымша исеи­
ҳәон: «Уца, Қыжә, аха уҟәышны уҟаз, ухы умырԥха­
шьан, ужә­ла умырԥхашьан, саргьы сумырԥхашьан» ҳәа.
Ҳқәыԥ­шра ҳанахнаԥаауаз ыҟан, аха саб иашьа иажәақәа
ша­ҟантә сааныркылахьааз. Амц ҟазшьа бааԥсны ишьон.
Есымша дсыцклаԥшуан аиаша сҳәоу амц сҳәоу еиликаарц. Амц зҳәо – аикәым иашьҭоу, ма иҟазҵаз иоуп. Ам­
цҳәара намысдароуп. Ианакәзаалакгьы аҵабырг догмак исзаҩызан, аха зҵаарак аҿы амц иасҳәон сзааӡаз.
Сҽеилаҳәаны ҭыԥҳак слықәшәарц аҩны сандәылҵуаз:
«Уабацои, Қыжә?» ҳәа дансазҵаалак – «сҩызцәа рахь сцоит» ҳәа иасҳәон, сӡамҩақәагьы иҭыҟаԥшьааӡа иааҟалон,
исҳәаз сацәымԥхашьаны – Қыжә, амц шузымҳәо збоит… уахьцо еилкаауп, аха убраагьы уҟәышны уҟаз, - ҳәа
насеиҳәон дысзыразны.
Леурсан иаҳәшьа Хәыхәа – апоет, апрозаик Мушьни Миқаиа иан – лашьа акырынтә иалҳәо саҳахьан:
– уаҳәшьа дукәахшоуп, усгьы уара дуааӡеит, ухьӡала
дызҭаумгалои аҷкәын ҳәа. Усҟан иара ҳамҭак акы даз­
хәыцуа, ҿымҭӡакәа днатәон, нас – иҟоу бдыруоу, саҳәшьа
бхаҵкы, лажәа аҭакс дналагон: – ибҳәаз саҳа­уеит, сыхь­
ӡала дҭазгаларгьы амуеи, аха ара иҟоуп, ус сыз­мыр­ҟаҵо,
сҿазҳәо даҽакы. Сара сыхьӡ еиҭазҳәо ыҟоуп, сыздыруагьы маҷҩым, иқәрахьымӡахаз сашьа иакә­зар, ихьӡ абри
ҳаҷкәын ила инхароуп, ирҳәалароуп. Убри аҟнытә ауп
сыхьӡала дызҭасымҩуа. Егьирахь Қыжә ҳзықәгәыӷуа
ҳаҷкәын иами, – ҳәа саб иашьа иажәа аахиркәшеит.

«Уаҳәшьа дукәыхшоуп, уеилыскаауеит, уи аӡбахә уа­
ҳагьы салацәажәом» – лҳәеит илаҳаз аҭакс.
Абри афакт амцарагьы заҟа аҳәоузеи саб иашьа заҟа
иҵауланы дхәыцуаз, заҟа хара днаԥшуаз, ауаҩра имаз,
аешьара нцәахәык еиԥш дахәаԥшуаз.
Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи рыҩра салагеит 17
шықәса анысхыҵуаз. 1961 шықәсазы ажурнал «Амцабз» ианылеит раԥхьатәи сажәеинраала «Амшынҵа»
иахьа­уажәраанӡа ҿырҳәала исгәалашәо. Уахьынтә ԥшь­
цәаҳәак аазгоит:

Раԥхьаӡа акәны сажәеинраала ахәыҷтәы журнал
«Ам­­цабз» (усҟан редактор хадас аус иуан ашәҟәыҩҩы,
аҳәын­ҭқарратә-уаажәларратә усзуҩы Мушьни Аҳашба,
аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс апоет, апрозаик Ҷи­ҷико
Џьонуа) аҿы акьыԥхь ахьабаз сара саҵкысгьы деи­
гәырӷьеит саб иашьа «уҩла, Қыжә, уҩла!» ҳәа саҳәаны,
аручка бзиа аахәаны ҳамҭас исиҭеит. Уи сара сзын кыр
зҳәоз асимволтә ҵакы аманы иаанхеит сырҿиаратә
ԥсҭазаараҿы.
1962 шықәсазы иара абри ажурнал ианылоит са­
жәабжь «Аԥсыӡкцәа». Уи ахԥатәи акласс азы арҵага
шәҟәгьы ианылеит.
Аинститутаҿы актәи акурс стәан. Изыҩхьаз сажәеин­
раалақәа зыбӷьыц рацәаз тетрадкахь ииаганы исыман.
Абри атетрад сгәылаӡӷабк даԥхьарц лҭаххан иахь­
лысҭаз, исыцәлырӡит. Ари ахҭыс даараӡа сшьара сықә­
наҟьеит, сзымыҩуа аҟынӡа снанагеит. Ус арра сыргеит.

Саныхынҳәгьы ак зҩып ҳәа гәахәарак сауамызт, аха
апоезиа сазҿлымҳан, сҩызцәа-гәакьацәа Таиф Аџьбеи
Рауль Лашәриеи рҩымҭақәа саҩсыжьуамызт, срыхла­
фаауа жәеинраалақәакгьы рзыскуан.
Аррантәи саныхынҳә, аҵаргьы сҵон, аусгьы зуан.
Убас аус зухьеит Аҟәа автоколонна №2654 аҿы акадр­қәа
ринспекторс; ВЛКСМ XV аизара Ду ахьӡ зхыз атурбаза­
ҿы аинструктор еиҳабыс; агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы
еиҭагаҩыс, анаҩсан ҩажәашықәса инареиҳаны аус
зуит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рыхьчара­
зы ареспубликатә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс.
(Ахан­тәаҩы аштат аҿы дыҟаӡамызт «почетный председатель» ҳәа дшьан). Абраҟа сусуратә лҵшәақәа иахьагьы избоит, сгәы аздууп. Гагреи Пицундеи ҩ-музеик
ареконструкциа рызун, рцәыргақәҵа акырӡа ирбеиан. Сыбзоурала Тҟәарчал урыс ҷкәынак закәандарыла
еизигаз археологиатә маҭәарқәа, зхыԥхьаӡара зқьы
инареиҳаны иҟаз, қарҭаа имырхәаанӡа иԥырҟәҟәаан.
Урҭ зегьы ҳархеолог ду Гьаргь Шамба ианҭиҵаа ашьҭахь,
Гагратәи амузеи аҿы ицәыргақәҵан. Иаҭахны иҟаз усны
исыԥхьаӡоит, еиҳа аҵакы змаз архитектуратә баҟақәа
жәпакы рҿы иҭуџьлыхыз аӷәыцәмаҟьақәа иахькыдҵаз,
рҭоурыхи рҵаки зҳәоз аҩырақәа рынҵаны, аҳәынҭқар­
ра ишахьчо уанаҳәо.
Хыхь зыӡбахә ҳәаз ахеилак аҿы аамҭаказы аус сыциуан Станислав Лакоба. Уи Аԥсны аҭоурыхгьы ҭи­
ҵаа­уан, апоезиагьы инапы алакын. Ашьыжь аусура
дшааиз­ҵәҟьа, сара сахьтәаз ахь дааҩналаны, аԥсшәа
са­ҳәаны, «иацы изҩыз ажәеинраала сузаԥхьоит» иҳәон.
Ас лассы-лассы иҟаиҵалон. Ҽнак, аусураҟынтәи аҩны
снеины сыштәаз амуза сызцәырҵын, жәеинраалак
зҩит. Адырҩаҽны Станислав ҿыц ииҩыз данысзаԥхьа
ашьҭахь, саргьы жәеинраалак шызҩыз иасҳәеит. «Ус­

«Џьота ицәымӷуп имшынҵа
Иахьанылоу уаҟа ҩба.
Агәаӷ шьҭыхны иҽкынҵа
Дыԥхамшьа ианитәоит лабҿаба.

заԥхь!» – иҳәеит. «Иабаҟоу, ԥсышәалоуп ишызҩыз», –
анысҳәа, урысшәала «подстрочник» изыҟасҵар иҭах­
хеит. Санизаԥхьа, даара ирҽхәеит. Уаҳа умоума ҳәа
дсазҵааит, мап анысҳәа, изыҩларц исабжьигеит. Ажәа­
кала Станислав Лакоба ҿыц смуза ирҿыхеит, аҩра салагеит. Раԥхьатәи сышәҟәы анҭыҵуаз, маӡалатәи арецензиа абаҩхатәра еицамк змаз, иқәрахьымӡахаз афольклорист, акритик, алитератураҭҵааҩы Артур Аншба
исзыҟаиҵарц иабжьигеит. Артур даараӡа ирҽхәаны
дахцәажәеит. Усҟан ашәҟәҭыжьырҭаҿы аус зуаз апро­
заик ду Алеқсеи Џьениа, иусурахь схагаланы Аншба
ииҩыз саирԥхьеит. Ашьҭахь, иара Артур сибан: «Сыҽ­
сыр­га­моит, ушәҟәы «Аҵәаҵлақәа шәҭуеит» арецензиа
азызҩит. Даара исгәаԥхеит уажәеинраалақәа, иуды­
сныҳәалоит!» – иҳәан, инапы аасиркит. Сгәы иалоуп, уи
исзыҟаиҵаз арецензиа иахьхызымҩаалаз, иахьсымам.
1983 ш. иҭыҵит раԥхьатәи сышәҟәы «Аҵәаҵлақәа
шәҭуеит» зыхьӡу; 1989 ш. – «Алакә ԥхыӡ»; 2004 ш. –
«Ан­ҷа-Кәынҷа»; 2010 ш. – «Иҿыцбараху адунеи ҩазаҿ»;
2011 ш. – «Жьакәыр-гәымшәа»; 2014 ш. – «Иалкаау»;
2016 ш. – «Аҳ иԥҳа».
Сыпиеса «Апҟа шкәакәа» С. Ҷанба ихьӡ зху Аҟәатәи
аҳәынҭқарратә театр иқәнаргылахьеит; «Аилага» иқә­
наргылеит Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭ­
қарратә акомедиақәа ртеатр. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа
рзы апрозатә ҩымҭақәагьы аԥысҵахьеит. Изӡарым –
сгәы рзыҟоуп.
Абас ауп, иааркьаҿны иуҳәозар, ишыҟоу сышықәс­қәа
ирҩыз аҭоурых».
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Таиф Аџьҩа
ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарра апремиа алауреат Валери Платон-иԥа Касланӡиа иԥсҭазаараз ииҩыз, ҳалаԥш
зхаагаз адаҟьақәа имҩашьо иаҳдырбоит инысымҩа

аин­терес шаҵоу, ган рацәала ишеилоу, уаҩытәыҩсак,
апоетк иаҳасабала ихаҭара шышьақәгылаз, ҩнаҭала
да­­хьынтәаауа, хыҵхырҭас иамоу уҳәа жәпакы. Абри
анысымҩа, штрихқәак рыла акәзаргьы, иахьалоу иа­
тәышьҭраны ицәырҵуеит ухаҿы инхартә еиԥш, аԥсуа
атеатртә сцена азҟаза ду, «аԥсуа Отелло» ҳәа ахәаԥшцәа
(иаԥсыуаамгьы убрахь иналаҵаны) изгәдууа иззыр­
ҳәаз Аԥсны жәлар рартист Леуарсан Шьардын-иԥа Кас­
ланӡиа иуаҩгәыҭбаара, ихаранаԥшра, аԥсҭазаара за­
ҟа дагәылаԥшны идыруаз, заҟа дуаҩы аамысҭашәаз,
иаԥсуара ҳаракны икыз, дахӡыӡаауаз ртәы зҳәо афак­
тқәа. Убарҭ аԥсҭазаара аҟәыҵәа хәыҷқәа – иашьа иԥа
ҿырԥштәыс инысмҩаҿы иааиго – рхаҭақәагьы апоет
ихаҭашьатә ҟазшьақәагьы хазырҭәаауа, иҩнуҵҟатәи
дунеи ахь ухьазырԥшуа ракәны иҟоуп.
Ҳаԥсуа театртә сцена агәадурақәа ируаӡәку, ҳмилаҭ
ртист ду Леуарсан Шьардын-иԥа Касланӡиа иӡбахә
анысҳәах, инымҩатәны исгәаласыршәарц сҭахуп иара
иҵанакуа кырӡа зхыҵуа инарҳара аазырԥшуа хҭыск.
Ари 1954 шықәсазы акәын. 50-ҩык А. М. Горки ихьӡ
зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҟны
ҿыц иаадыртыз аԥсуа факультет аҿы аҵара ҳҵон. Ҳарҭ
ҳабжеиҳараҩӡак ақырҭуа школқәа ирылгаз ҳа­кәын,
ҳхатәы бызшәеи ҳмилаҭ литературеи ирызкны але­
кциақәа иаҳзаԥхьо ианалага, ҳгәалаҟара бзиахеит, избанзар, ақырҭуа бызшәа ҳгәы цәнарҳәхьан, ҿаҳаи дагәеи
реиԥш ҳзеилибамкаауа ҳаҟан «ҳанеибадыр» инаркны.
Ҳмилаҭ ахь аханатә иҳамаз абзиабара ҳкурс аҿы итәаз зегьы ҳаиднакылт, ҳаизааигәанатәит, ишырҳәо еиԥш, ҿык
ҳаицҭацәажәо ҳаилаҵәаны ҳҟанаҵеит. Сентиабр мзазы
Аԥсуа театр аҿы ицон аспектакль «Отелло». Ҳәарада, англыз драматург ду В. Шекспир иҩымҭа аӡбахә ҳаҳахьан,
уи аԥсшәахь И. Ҷоҷуа ишеиҭеигахьаз, раԥхьаӡа акәны

аԥсуа театр аҿы 1941 шықәса, март 4 – Аԥсны Асовет
мчра ашьақәыргылара 20 шықәса ахыҵра аиубилеитә
рыцхә иадҳәаланы ишықәдыргылахьаз. Аспектакль
«Отел­ло» аҩынтә раан ҿыц иқәиргылеит Аԥсны жәлар
рартист, аԥсуа театр арежиссиор хада Аазиз Агрба. Ҳкурс
зегьы ҳгәырӷьаҵәа, ныҳәак еиԥш иԥхьаӡаны уахь ҳцеит
аспектакль «Отелло» абара. Атеатр хыхьгьы ҵаҟагьы,
ишырҳәо еиԥш, унацәа узрыламҵо кәапеишәа иҭәын.
Аӡ ԥыруазар, абжьы уаҳарын, еилақь итәаз ауаа иӡыӷәӡыӷәӡа, рлымҳақәа кыдҵаны иӡырҩуан, асценаҿ ицоз
ахҭысқәа иргәылаханы ишамоу мҩашьо. Ахәаԥшыҩ­
цәа зегьы реиԥш, саргьы асцена аҟнытә сыбла иабоз,
слымҳа иаҳауаз срымпыҵахалан срыман. Ус, Отелло
Дез­демона данихәаҽуаз аамҭазы саԥхьа итәаз ахаҵа,
ибжьы аарла иуаҳаратәы, дналахәыҭхәыҭит иватәаз
аԥҳәыс: – Ари аԥсуа Отелло иарбан театру имырԥшӡара,
иҭеиҭыԥш, иҟазара зегь рыла деиҭаҳәатәуп. Ларгьы
ажәак мҳәаӡакәа дышиқәшаҳаҭу ала лхы аалырҵысит.
Урҭ ԥсшьаҩцәан. Сара астудент исаҳаз – ҳартист ду изкыз аҽхәыԥхьыӡ, ахәшьара сгәы иахәеит, иахьанӡагьы
исхамышҭуа сгәалашәараҿы иаанхартә еиԥш.
Ааи, амилаҭ ахьӡырҳәага, дарбану змилаҭ гәадура
амырҿыхо. Убасҟан аспектакль «Отелло» иахәаԥшуаз
ҳара ҳкурс астудентцәа зегьы ҳдырлахҿыхуан, агәа­
лаҟара бзиа ҳарҭон, лымкаала ҳмилаҭ ҟазара ашҟа
иҳа­­маз, ҳцәа иалаз абзиабара аҳәаақәа дырҭбаауан,
ишьа­­ҭадыркуан ҳаԥсуа театртә ҟазара акорифеицәа
Ле­уар­сан Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Аазиз Агрба, Михаил Ақаҩба, Разанбаи Агрба, Минадора Зыхәба, Анна
Ар­гәын-Коношок… уҳәа досу ррольқәа рынагӡараҿы
иаадырԥшуаз абаҩхатәра иатәышьҭроу аҟазара ду.
Апоет, апрозаик, адраматург Валери Платон-иԥа Кас­
ланӡиа инысымҩа атәы анаҳҳәа аганахь иузныжьуам

иаԥҵаны ишимоу, арҿиаҩы зда дхәарҭам, рӷьажәҩара
изызуа, бзиабаралеи еилибакааралеи иҳәаақәҵоу аҭаа­
цәара. Иԥшәмаԥҳәыс Ольга Уасил-иԥҳа Червонцева
занааҭла дааӡаҩуп, дырҵаҩуп. Лыԥшәмеи лареи ирых­
шеит, ирааӡеит аԥеи (Даур) аԥҳаи (Наала). Наала Ва­лерииԥҳа Касланӡиа абаҩхатәра змоу ҵарауаҩуп, аҭоу­рыхтә
ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, Аԥснытәи аҳәын­
ҭқарратә университет дадацентуп, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху
Аԥсуаҭҵааратә институт анаука аганахьала адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус луеит. Уи ҳҭоурых аҭҵаара иазку
аусумҭақәа, акымкәа, иҩбамкәа дравторуп. Нацәақәкыла
иуҳәозар, уи лмонографиа, 2017 шықәсқәазы урысшәала
Аҟәа иҭыҵыз (Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти ргриф
ала) «Генезис и становление Абхазского царства» Аԥсны
абжьаратә ашәышықәса аҭоурых аҭҵаараҿы илагала
бзианы иԥхьаӡоуп.
Аԥхьаҩ, стема хадахь сиасаанӡа савтортә хьаҵра
маҷк аҟара исцәоуцәахазар, саҭоумҵан, аха, ухаҭа ишубо еиԥш, урҭ – аранӡа исҳәази алада сзыхцәажәараны
иҟоу ажәабжь: «Асас ҟьалеи» рхи-рҵыхәеи амжәа адац
еиԥш еиларсуп, насгьы иаадыруазароуп, ииашоу аилкаа ҳамазароуп ҳзыхцәажәо аҩымҭа автор дазусҭоу,
да­хьынтәаауа, идунеихәаԥшра зеиԥшроу, уҳәа уб. иҵ.
Ҵабыргуп, автор идунеихәаԥшра, ихәыцшьа, иааи­кәыр­
шаны иҟоу аԥсҭазаара дшазыҟоу, ишиныруа умбарц залшом иҩымҭаҿы иаарԥшу ахаҿсахьақәа рыԥсҭазаарала.
Аха убас акәзаргьы, зҩымҭа уаԥхьо ашәҟәыҩҩы, аҵа­
рауаҩ инысмҩазы аилкаа иаша амазаара кыр аҵа­
накуеит, хәарҭара аланы ирыԥхьаӡоит жәынгьы ҿангьы.
Сара хаҭала иахьынӡасықәманшәалахо сыздыруам, аха
нахьхьиӡа аахыс аҩада исҳәаз ахшыҩзцара, аметод садгылоит, сагьықәныҟәоит. Ус шакәу иахьа уажәраанӡа

иаԥысҵахьоу, сыԥсҭазааратә мышқәа зықәсырӡхьоу сыҭ­­
ҵаамҭақәа ирныԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.
Аԥхьаҩ, уажәшьҭа ҳхынҳәып ҳтема хада ашҟа –
«Асас ҟьала» аилыргарахь. Уажәнатәгьы сацәымҩашьо
ис­ҳәоит абри ажәабжь иаԥхьалак (араҟа сара зыӡбахә
сымоу ажәа сахьарк аԥсымчхара гәыла-ԥсыла изныр­
уа, уи иаҵоу амагиатә мчы еилызкаауа, аханатә пату
ззақәу аԥхьаҩ иоуп, ус гәырҿыӷьгас иахәаԥшуа иакәым­
кәа) имбарц залшом шәагаала имаҷу, аха ухаҿы иаанхаша аԥсҭазаара ҟәыҵәак исахьаркны иаазырԥшуа
ажәабжь ажанр аҿгьы Валери Касланӡиа абаҩхатәра
ши­моу, ииашоуп – ус шакәу, апрозаҿ инапкымҭа шыц­­
қьоу иахьа уажәраанӡа иаԥиҵахьоу иажәабжьқәа («Ҭан­
дел ихәы», «Абыда ииз», «Агәнаҳа»), иповест «Аџь­ныш
ламҩа» ишьақәдырӷәӷәахьеит, ҳлитературатә ԥсҭа­
заараҿы иреалтәу акы акәны ишыҟоу. Урҭ уажәазы ара­ҟа
сыҽралазгалом, ажәабжь «Асас ҟьала» санаԥхьа, исыз­
нарҵысыз – аԥсуа жәабжь аҭоурыхи аԥсабареи зеиԥ­
шлашәа акәзаргьы инархьысуа хшыҩзцарақәак ртәы
мацара сазааҭгыларц сҭахуп.
Ишдыру еиԥш, аԥсуа жәабжь ажанр ахы акит ҳмилаҭ
литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иклассикатә
ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» аҭыҵрала. Ари аҩымҭа
аԥҵан Аԥсуа жәлар ақырҭуа меншевикцәа рымч им­
ҟәылха ианырхаԥаз аамҭазы, икьыԥхьын раԥхьаӡа акә­
ны аԥсышәала адунеи збаз агазеҭ «Аԥсны» (1919 ш.
март 17, №2; март 28, №3) адаҟьақәа рҿы. Уинахыс иа­
хьа уажәраанӡа аԥсуа жәабжь знысыз, иахҭынхьааз,
иаа­нарԥшыз аԥсҭазаара уҳәа аҭоурых кыр ыҟоуп. Уи
ҷы­дала зҿлымҳара азуны иҭуҵааша проблемақәа ируакуп ҳлитературатә ԥсҭазаараҿы. Ҳажәа аԥсуа жәабжь
иа­назкха, уи аҭҵаара ҳакритикеи ҳлитератураҭҵаареи
ишыр­уалԥшьоу анаҳгәалаҳаршәах, аӡбахә ҳамҳәар ҳиа­

1
Владимир Аҵнариа. Аамҭеи арҿиамҭеи. Ашәҟәҭыжьырҭа
«Алашара». Аҟәа, 1989. Ад. 358.

шахом 1970 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Алашара»
(№7,8,9,10,11,12) адаҟьақәа рҿы ирнылаз, аимак-аиҿак
зырҵысыз, аԥсуа жәабжь иазкыз аҭҵааратә статиақәа.
Уи еиҿикааит усҟан ажурнал «Алашара» акритикеи али­
тератураҭҵаареи рыҟәша еиҭабыс аус зуаз, иахьа Аԥ­
сны анҭыҵгьы еицырдыруа, абаҩхатәра еицамк змоу
апоет, акритик, аиҭагаҩ, академик Мушьни Таииа-иԥа
Лашәриа. Аимак-аиҿак аартын изаамҭанымкәа зыԥ­
сҭазаара иалҵыз, ҳҵарауаҩ ду, акритик, афольклорист Артур Аншба истатиа «Иахьатәи аԥсуа жәабжь
аҿиа­­­раҿы иҟоу хырхарҭақәак» ала. Уи ишьҭахь аԥсуа
жәабжь ажәытә, аҿатә, аҭоурых, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иры­
лацәажәеит, ихатәроу астатиақәа, аҭҵаамҭақәа азыркит
ҳҵа­рауаа нагақәа, ҳакритикцәа Владимир Аҵнариа,
Сергеи Зыхәба, Борис Гәыргәлиа, Шьурбеи Царгәыш
уҳәа уб. егь.
Жәаҳәарада, ари аимак-аиҿак ажурнал адаҟьақәа
арлахҿыхит, иҵегьы ииашаны иуҳәозар, аԥхьаҩ аԥсуа
жәабжь аҭоурых, амилаҭ сахьаркыратә литература аҿиараҿы иамоу аҵак ду закәу еилыхха инарбеит,
изааи­гәанатәит, ажәакала, изгәакьоу даҽа цәак ахибаауа дҟанаҵеит. Ааи, изҩыдоу, арҿиараҿы хаҳара злоу,
аҵәылхра зҵам, аиаша зҳәо акритика, аимак-аиҿак
ажурнал иаҭаху ихымԥадатәиу, асахьаркыратә литература аҿиара апроцесс иацхраауа, иӡырызго акоуп.
Аҩада зыӡбахә ҳамоу аԥсуа жәабжь иазку аимакаиҿак зхы алазырхәыз ҳҵарауаҩ ду Владимир Аҵнариа
«Ажәытәи аҿатәи аԥсуа жәабжь аҿы» ҳәа хыс измоу
истатиаҿы иҩуеит: «Аԥсуа литератураҿы ажәабжь аҭоу­
рых зыҩуа «Атәым жәҩан аҵаҟа» ала иааиртыроуп
иҩым­ҭа актәи адаҟьа актәи ажәа» 1. Ари наваларҭа змам

ҵабыргхаҭоуп. Избанзар, аԥсуаа ҳдоуҳатә ԥсҭазаара зда
ихәарҭамыз апроблемақәа рҿы ҳ-Дырмит ду инапы злакымыз иарбану? Мышьҭабзиала зегьы ркака рхацыркра, амҩа рзылхра даҿын ихы-иԥсы ақәҵаны.
Валери Касланӡиа иҩымҭа «Асас ҟьала» уанаԥхьалак
зегьы раԥхьаӡагьы ухаҿы иааиуеит аԥсуа литератураҿы
ажәабжь ажанр ашьаҭа ӷәӷәаны ишакхьоу, қьабзк
еиԥш ишышьақәгылахьоу, насгьы ахатә ҭоурых шамоу. Ари ахшыҩзцара иҵегьы уазааигәаны иуҳәозар,
дар­­бан ашәҟәыҩҩызаалакгьы иажәабжь анаԥиҵо
аам­­­­ҭазы уи ажанр ала иаланагалаз аҩымҭақәа знысыз рҭоурыхгьы убрахь иналаҵаны, милаҭ гәадурала
иҭа­­лаҳау, иҭакԥхықәра ҳаразкуа доуҳатә еимадарак,
ныр­рак имоурц залшом. Даржавини Жуковскии ыҟа­
мызҭгьы дзыҟаломызт А. С. Пушкин ҳәа акритик ду
В. Г. Белински баша иауиҳәах аурыс литература аҭоурых
да­гәылаԥшны.
Сыззааиуа, иахьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩы итәы ҳҳәозар,
иаԥиҵо: апрзатә ҩымҭақәа уажәазы нацәақәкыла иугозар ридеиатә тематикеи, рсахьаркыратә напҟазареи,
рыстилтә хырхарҭеи ҳаракызар, жәаҳәарада, дара рҟын­
ӡа адунеи збаз (Дырмит Гәлиа иажәабжь «Атәым жәҩан
аҵаҟа» раԥхьа инаргыланы) иҟарҵо анырра иабзоу­роу
кыр ыҟоуп, иаахҵәаны иуҳәозар, рҿиаҩык иаҳасабала
уи иҭакԥхықәра ҳаранакуеит иааикәыршаны иҟоу, иха­
ҭа дызлагылоу еибах-еибафара згым аԥсҭазаара инар­
ҵауланы дагәыланарԥшуеит, насгьы имилаҭ рзы атипра злоу, иҵоуроу афырхацәа (иҵоурамгьы аганахь ин­
мыжькәа) иалибаартә еиԥш алшара инаҭоит. Ас доу­ҳа­­
ла аимадарақәеи аигәныҩрақәеи асахьаркыратә лите­
ра­тура иадиалектикоуп, иара ахаҵкы, адунеи ишаны
иқәыр­ҵаз аахыс иаауеит адоуҳатә ԥсҭазаараҿы аҳра зуа
ашьҭамҭа анҵо.

Аԥсуа сахьаркыратә жәабжьқәа ргалереиаҿы ҩа­
шьара рықәымкәа ицәыргоуп, аԥсуа хаҵа ҩнуҵ­ҟа­
ла­­гьы ҭеиҭыԥшлагьы имилаҭ хаҿра зныԥшуа, еи­ҳа
ииа­шаны иуҳәозар, инаӡааӡаны иаазырԥшуа афыр­ха­
цәа рхаҿахьақәа. Урҭ убоит Аԥсны Асовет мчра шьа­­
қә­гылаанӡатәи ианышьақәгылазтәи, уи адунеи амҿ­­
хакны ишыҟаз, иахьыз азымдыруа ианеи­лаҳа, иан­­
хыбгала ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рҿы. Ара­ҟа,
ҳәа­рас иаҭахузеи, иага аамҭеиҭасрақәа ахҭын­хьаа­
зар­гьы адоуҳатә культура аҿиараҿы традициак еиԥш
ишьа­қәгылахьоу акәалеимадара аԥсы ҭоуп, аус ауеит,
алыҵ­шәагьы лабҿабоуп. Ус шакәу дырҵа­быр­гуеит аас­
кьатәи абиԥареи ҿыц аиҵагылара иаҿуи ашә­ҟәыҩ­ҩцәа
рҩымҭақәагьы.
Аԥхьаҩ аԥсуа жәабжь адунеи ахь маҷк аҟара схьа­
зырԥшыз, уи аҭоурых аҟнытә фактқәак инымҩатәны
изысгәаласыршәаз Валери Касланӡиа иажәабжь «Асас
ҟьала» ихатәроу, акы акәны аԥсуа жәабжьқәа рҭаацәа­
ра ду иахьаланагалаз ауп. Уи адагьы, ари ажәабжь
афыр­хаҵа хада Ҭарашь иахьатәи аԥхьаҩ илаԥш ҷы­
дала идызырхалоу, дизааигәазтәуа, уаанӡатәиқәа, да­
ҽа­­кала иуҳәозар, иара иҟынӡа алитературатә ԥсҭа­заа­
раҿы зҭыԥ ылызххьоу, нахьхьынӡа аахыс иаадыруа,
згәы­былра ҳамоу, аԥсуа жәабжь жанрк аҳасабала иӷә­
ӷәацаӡа ашьапы иқәзыргылаз еиуеиԥшым аамҭақәа
ирхаҭарнаку, еиуеиԥшым аперсонажқәа (иҵоуроугьы
иҵоурамгьы) рышәшьыра изаҟаразаалак дазыҵәах­
ӡом, ихатәы философиатә дунеи иманы дызхаану аамҭа
уадаҩ дшатәышьҭроу мҩашьауа даарԥшуп, қьабзк еиԥш
еилаӷьахьоу имилаҭ код иламыс иманы. «Асас ҟьа­
лаҿы» афырхаҵа хада Ҭарашь ихаҿсахьа абас акапани анарҳареи рыманы, игәылҭәааны иҟазҵаз ажәабжь
аси­ужети афабулеи автор ҟазарыла иахьиҿибаази иа-

хьеилеисази, уи аамышьҭахь ихадароу еигьырҭ афыр­
хацәеи епизод ҳасабла ицәырҵуа аперсонажқәеи досу
иахьырҭыԥу иахьиргылоуи, ихәыҷы иду инарыгӡо
ароль­қәа аҩымҭаҿы ицо ахҭысқәеи, ицәырҵуа аса­хьа­
қәеи, иуҳәар ауазар, имаакыраны иахьыҟоу роуп. Аб­
раҟа иацысҵар сҭахуп даҽа детальк. Ажәабжь «Асас
ҟьала» аҵыхәала автор саниҿцәажәоз, иҳәеит ажәабжь
аҩра шизымариаз, избан акәзар, ифырхаҵа хада Ҭа­
рашь алитературатә ԥсҭазаара анииҭоз аамҭазы иибоз, иныруаз иаб иашьеиҵбы Нури Шьардын-иԥа Ка­
с­ланӡиа ихаҿсахьа шакәыз, ажәакала, уи доуҳала дша­
рӷә­ӷәаз, прототип хсабланы дшизыҟаз. Арҭқәа зегьы,
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 05
  • Части
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 01
    Общее количество слов 3544
    Общее количество уникальных слов составляет 2393
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 02
    Общее количество слов 3625
    Общее количество уникальных слов составляет 2384
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 03
    Общее количество слов 3481
    Общее количество уникальных слов составляет 2315
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 04
    Общее количество слов 3557
    Общее количество уникальных слов составляет 2417
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 05
    Общее количество слов 3558
    Общее количество уникальных слов составляет 2352
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 06
    Общее количество слов 3377
    Общее количество уникальных слов составляет 2263
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 07
    Общее количество слов 3530
    Общее количество уникальных слов составляет 2317
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 08
    Общее количество слов 3494
    Общее количество уникальных слов составляет 2312
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 09
    Общее количество слов 3530
    Общее количество уникальных слов составляет 2200
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 10
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 2316
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 11
    Общее количество слов 1346
    Общее количество уникальных слов составляет 1014
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов