Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02

Il numero totale di parole è 3271
Il numero totale di parole univoche è 2108
0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
— — Лакәк аҟынгьы ирҳәо смаҳац ари аҩыза!
— — Иаапкызар ҟалап.
— — Иаапкындаз, ҳқыҭан уахыки-ҽнаки рыла, алақәа зегьы
аапкны иубарын.
— — Иҟьаланы абрахь иқәнагалаз бгоуп, хымԥада.
— — Иҟьалам, аха акы иаргәааны иҟоуп. Баша ирҳәом,

ақәыџьма ауаҩы ишьа алоуп, цәгьарала уаназныҟәа, ауаҩԥсы
иеиԥш, ашьа ахьауша иашьҭалоит ҳәа.
Алафҳәаҩцәа инаԥыршьуан:
— — Игәааны иҟазар, адәныҟа иҟоу ҳәа иныҳәаны,
хәыцеиқәаҵәа злам ауаса шкәакәа азшьтәуп.
— — Уара алаф уҳәоит, ҳара ҳахнарҵәарц егьагым.
Ҳашәарыцаҩ Кац Кьамсыс, иҷапанах кашәазшәа, иҽирҵысуам,
арахь ақәыџьма ҳаӷрыӡаауам!
— — Қәыџьма-ҟьалоуп!
— — Иабатәи Қәыџьма-ҟьалоу! Ақәыџьма-ҟьала мҩасны
ицоит. Ари иазаарымгац ҳәа иҟоузеи, иаарымшьыкәа
иаҳԥырҵуам.
— — Егьа убас иҟазаргьы, харантәи иааз Қәыџьма-ҟьалак
акәзар ҟалап.
Аӡбахә иалацәажәацыԥхьаӡа, Ақәыџьма-ҟьала хәа ахьы­
на­ԥыршьуаз иахҟьаны, убас иахьӡхалеит. Уи ахьқәылаз,
иҟанаҵаз џьашьо, уаҩы ԥсыҭбарак ҟамландаз ҳәа аӡбахә
иалацәажәозгьы, ахаҳә леираны иҟоуп ҳәа роуҳәаргьы,
ҳашԥакьаҭеи, шьыри, иҳабаргузеи, ҳанеибаргәаалак ҳазхара
еигәыдҳамҵалои ҳәа алаф алызхуа иреиуақәазаргьы аӡәгьы
дазымхәыцит,игәалаимыршәеитуи ақәыџьма иахыз-иаҵыхәаз,
дара рхаҭақәа ирхараз, Ақәыџьма-ҟьала ҳәа ицәаԥҽыгаз
ахьӡ ахьӡрымҵар ада ԥсыхәа зыҟамлаз. Иргәаладмыршәеит,
ахатәы ҳәаақәа алданы, анкьа зны иаргьы ишамаз ахатәы
бна, иаргьы ишамаз ахатәы ҭыҩра. Ақәыџьмақәа ирҵасу,
ирхымҩаԥгашьоу акгьы ишахымсуаз еиԥш, убри абнаршәыра
иалдаз аҳәаақәа ирхысуамызт иара. Ауаа ирхашҭзаргьы,
иара ибзианы иадыруан. Иагәалашәацыԥхьаӡа, агаҿаҟа ахы
рханы ауура иалагон. Убасҟан уи агәаӷ аԥша зҵасыз амца
иаҩызахон. Иҿыцхон агәыҭҟьара иахәаҽуаз ашьоура. Уаҟа
инацлон абаҩқәа ҭзырԥсаауаз ахьҭа, ахлахаҵ зыргьежьуаз
амлашьра. Уаҳа иазымычҳауа ианнеи, аԥсҭа иҭыҵит уахык,
иҭыҵит уаха уахь еибгала ихнымҳәырц.
Аԥсҭа ианҭыҵыз ауха аҳәылыҳәа еимаҩны асоура иаҿын.
Ԥсаатәи шәарахи ракәым, арҩашқәаҵәҟьагьы рышьҭыбжь
ахәаҽит асы. Иналаршә-ҩаларшәны, анаарақәа ирҿагылаз
аҵлақәа, ашәыб анрызнымкылалак, аҿеҩҳәа ихжәон. Усҟан

аҵыхәа ашьҭарҽыла, аҽреиџь, еиқәыӡырҩуа иаагылон
ақәыџьма. Еимаҳаны илашьцан ашьҭахьҟа иааннажьуаз аԥсҭа.
Уахынла избо иара абга блақәагьы инахараны изԥшуамызт.
Аасреи ашымҳареи убасҟак еилархәаны еиланажьит, амҩақәа
зегьы акит асы. Амлашьра акәмызҭгьы, ахаан иҭыҵуамызт,
аԥсҭа еҩхаараҿ, ашьха наара кылжәаны иахьыҟаз иаԥшааз
аҭыҩра. Ауаҩԥси, нас араҟа, шьхатәылан иара иаӷацәахаз
абнаҳәақәеи амшәқәеи ирзыԥшаауамызт уи аҭыҩра ахьыҟаз.
Иацәыӡхьан иара аҳас иахьамаз аккара еиужьра,
иҩашьахьан ахатәы ҳәаақәа. Раԥхьаӡа ахысыбжь алымҳа
иахьҭасызгьы убраҟа, шьҭрала иара иатәыз, изқәиҭыз,
аҳәаақәа зылдаз ахатәы бнаҿоуп. Усҟан аарла аблақәа
аахнатын, ибажәгәаламуа аҭыҩра иҭан. Адунеи лашара
иахьықәԥшыз иахырымбаауазар, уаҳа цәгьара ҟанамҵацызт.
Ахысыбжь антҟәац, мчык ҩаҵасны иҩышьҭнаԥаан, аӷьеҩҳәа
анышә иҩықәнакшеит. Иамаҳаӡацыз фҩы бааԥсык, ашәақь
хәшәы былфҩы, аԥынҵа инҭасит. Аԥышә хыџьгәыгәын
хәыҷы аачыхәчыхәын, аҵықь-ҵықьҳәа инеимсеит. Ахысыбжьи ашәақь иҩҭҟьаз амцеи аԥсра шазаанаго еилнакаартә
иҩеидамсыцызт. Аха убри еилнакаартә иҩеидасхьазаргьы,
изхылҵыз реиԥш аԥсеиқәырхаразы ашьа канаҭәахьазаргьы,
дыршьа амамызт ақәыџьма, ахысыбжь аҵкьыс еицәоу, иаҳа
идаракәац ықәхгоу, ихырҵәагоу даҽа шьҭыбжьы цәгьак шыҟоу.
Ахәшә былфҩы ацәымӷхан, аҭыҩра ихәыҵаланы инаскьо, инаскьо, царҭа ахьынӡамаз инеин, аџьҵла аԥашә
аҽадырҟәыҟәла инадиалеит. Ԥхарак ацрыҵуан, аӡафыҩгьы
ахылҵуан аԥашә. Иара иашьҭаланы, иҟу-ҵәыуо, уахь инеит ианиуаз иациз аешьцәагьы. Аҭыҩра иҭаланы иааиуаз амаҵуарла
анырба, ран акәыз џьшьаны, иаагәыбзыӷит азныказыҳәан.
Акыкмацәқәа хшы ԥхала иҭәын, ишаҳәшаҳәуа инарылаион
уи анааилак. Еснагь ихынҳәуан рҭыҩра аҿышәҭ анаалашоз.
Ишылашьцара илашьцаны, инахараны ирымбо ианыҟалалак,
рхала иааныжьны, фатәаагара ицон рани раби. Аҭыҩра ма
зынӡаск иҭалаӡомызт, иҭаларгьы аҽыԥхьак, инахараны инаион раб. Уажәы аҭыҩра иҭаланы иааиуаз, ран еиԥшныршьалаз,
иааиқәымтәаӡо бжьык ахылҵра иалагеит. Рани раби анууагьы, усҟак иҵару абжьы рхылҵуам. Аҭыҩра иҭашуа, иҳәазаны

иҭаланы иааиуан амаҵуарла. Шаҟа игәааны, шаҟа гәаӷла
ишуа иааиуазеи уи. Рхы ахьыргара рзымдыруа, ишәаҟьеит
ақәыџьма ԥшқақәа.
Аҭыҩра аҿышәҭ амра нылаҷҷеит. Уи ашәахәақәа ргәы­
блра ркхьан, избанзар ашәахәақәа шаҳәшаҳәуа, иҟаԥшь­
ӡа ашьхақәа ианаарывҵуа, ашәарыцарахьтә ихынҳәуан
рани раби. Уажәы амра шыԥхара иԥхеит, аха уажәыгьы
иҟамызт изыхшаны абри адунеи иқәызҵаз. Иҟалап,
ихынҳәны ашәарыцарахьтә аҭыҩрахь ишаауаз, ашацкыраз, ашәарыцаҩи, иҳәаскьеиуа уи ишьҭоу алеи рыфҩы ркызар. Иҟамызт. Уара уоуп ҳара ҳахьчара зылшо рҳәозшәа,
аԥхара аҿышәҭ иларԥхо, иара ашҟа инеирц ишрыԥхьозгьы,
амрахь ицәырымҵыкәа, рыԥсы ӡаны, рҟәиҭ-ԥсиҭ ыҟамкәа,
аџь адашәпа иадтәалан. Ашра иаҟәыҵуамызт, асаса ҭхаауан
иҳәазаны аҭыҩра иҭаланы иааиуаз ала. Макьана ишыхаразгьы убас еиԥш фҩы бааԥсык ҳәа ахылҵуан, чҳашьа амамызт. Аԥшагьы, цас иауазшәа, алашәарыца иақәҵәиаашаны,
аҳаԥы зегьы ҭырҭәаауа иҭасуан. Ихаҭа иԥсы шҭоу, насгьы
убри абнаршәыра, иара иҷыдарахаз, даҽа аҳак дшамам агәра
игарц иҭахызар акәхарын, изакәытә мчу инапы иаку цқьа
иаарԥшуа, аҳаԥы илҭакны, илеиқәырццак даҽа ҩынтә дхысит
ашәарыцаҩ. Ақәыџьма ԥшқақәа рыбла инхыҷҷалеит ашәақь
иҩҭҟьаз амцабз. Рлымҳақәа убасҟак ирыхьит, убасҟак рхы
ҭнаҟьеит ахысыбжь, еибарӷызымызуа, иҟарҵара, иахьцара
рзымдыруа, ҳахьча, ҳрыцҳақәоуп, ҳаргьы аԥсабара ҳахшеит
рҳәозшәа, иадшәаҟьалаӡаны рыҽнадрыԥсалеит аџь адашәпа.
Иааиқәымтәаӡо аҭыҩра иҭыҩуан алашыбжь. Иаҳа-иаҳа
иааигәахон. Ус, иаалырҟьаны, аԥсы нахыҵрашәа, иҵәааит,
иӷызит, ацхыраара иаҳәеит қәыџьма ԥшқак. Алашыбжь
еиқәтәеит. Аишьцәа руак ахәдацәа ианкны иргьало аҭыҩра
иҭганы иама аҿынанахеит. Иара иаҳагьы еиџьыԥит, ацәа
иҭалеит, аџь адашәпа ааигәара, ашьапхыц хәыҷқәа рыла
анышә абӷьаҭын, ацәыслампыр еиԥш, ихәыҵаланы аҽаҵәахит.
Дук мырҵыкәа, еиҭа ихынҳәны иаан, агара иалагахт алашыбжь, нас иааигәаӡахеит аҳақьԥсықьыбжь. Еиҭа иҵәааит
аишьцәа руак. Иааигәаӡаны аԥынҵа иҭасуан алашәарыца
афҩы гәырхынҳәыга. Издыруада убас еиԥш иҟоу фҩыла

иҭәызар, аҭыҩра сынхәыҵыҵны, исызҳаны, сани саби реиԥш,
ишысҭаху снықәландаз ҳәа иара зызхәцло адунеи лашара
ду. Ус иҟазар, ииашаны, араҟа, дара рҭыҩраҿы иаҳа ицқьоуп.
Уажәы ала иаҿыҵакны ишьҭнахыз аиашьагьы акраамҭа
иҵәаауан. Зны ихәрны иашьӡошәа, иааиқәтәон абжьы, усҟан
мгәацәха иҳәазаны инеиуан ала, инаҿыҵыҩрны икаҳауазар
акәхарын, даҽазны, ахәдацәа абаҩ кылахазшәа, аԥсеивгара
иалагон ала ахаҭа. Убас ишқьуаз, иаҿыҵакны иагоз ақәыџьма
ԥшқа уажәы-уажә ишыҵәаауаз, абжьы шааиқәтәоз, ԥыҭк
ианынаскьа, аџь адашәпа иахьчаз, зымацара иаанхаз
ақәыџьма ԥшқа, ахы иааҩахан, ала инашьклаԥшит. Аҭыҩраҿы
ҵаҟа ишьҭаланы, амаҭ еиԥш иҳәазо ацара иаҿын аҵыхәа.
Ахаҭагьы, аблаҿ иҵысҵысуаз аҵыхәагьы, ишынеибакәу зегьы
еицеиԥшны ицәхаԥшь-цәиқәаран ала. Изаҟаразаалак џьара
акала дара ақәыџьмақәа иреиԥшымызт.
Уинахыс аҭәымҭа иааҭагылаанӡа рыхабар ҳәа акгьы аздыруамызт аешьцәа. Аҭәымҭа ианааҭагылоз, ма уара, ма сара
ҳәа, руак адунеи ианымӡаар амуа инеиҿагылеит еиқәханы
иҟаз аешьцәа руаки иареи. Аҽны, алашәарыца афҩы аҭра
ианҭачыз, убри афҩы бааԥс рзымычҳау, ианаацәылашо,
амра ашәахәақәа ирыцны ихынҳәлоз рани раби, инеихашәа
ихәлаанӡа акгьы ахабар ыҟамызт. Зымацара аҭыҩраҿ иаанхаз
ақәыџьма ԥшқа, ахлахаҵ гьежьуа, амла иакит. Агәы аҭҳараҳәа
иҭыҵны ицо , ишәаҟьаны аџь ада шәпа ишадтәалаз, инҭаҳаны
ицәеит. Ицәырҳаны, иҟу-ҵәыуо иааԥшит. Инафҩышәааафҩышәан, инеимда-ааимдан, ани аби шыҟамыз агәра анага, еиҭах инаиан ицәеит. Иахьыцәазгьы иқыџьқыџьуан, иҟуҵәыуон, убасҟак иӷәӷәан уи раԥхьаӡатәи агәыҭҟьара, убасҟак
иӷәӷәан аԥсеиқәырхаразы раԥхьаӡатәи ақәԥара.
Иаҳа иааҭынчхан, имшәакәа иҩагылартә амч алаланы ианааԥш, аҭыҩра аҿышәҭ ааннамыжьцызт зшәахәақәа
цәарԥхагаз амра. Уи ақәыџьма ԥшқа иаԥхьон иара ашҟа инеирц
аҭыҩра иҭыҵны. Иабадыруаз, амра, зегьы еицышәзеиԥшуп, зегьы еицышәтәуп ҳәа иаанашьҭуаз ашәахәақәа, иаҳа мчы змоу,
мчыла еиҵоу ишырцәыргоз, ишахырбаауаз. Ԥсы зханаҵоз
реизыҟазаашьақәа, ишеишьҭақәоу адыруазҭгьы, иҟаларын уи
уаҳа ирывҵымҵыргьы ашьхақәа.

Абнаршәыра анаҩс, ақәыџьма ҭыҩра ахьыҟаз аҳәыгәра
анхыҵҟа илаҟәын, ихьшәашәо аҽаҵәахит амра. Аԥсаатә
рышьҭыбжь еиқәтәеит. Иҭынчрахеит абнаҿы. Иҟамызт мгәала
ақәыџьма афатә азаазгоз ани аби. Уаҳа иамбеит, аҭыҩрахь уаҳа
ихнымҳәит ашәарыцаҩ иабџьар иаҿаҵахәхаз аб. Ан цыркьыԥуа
ианыхынҳәыз, аҵх наскьахьан, амза шеишеиуа ажәҩан
агәахьы ихалахьан. Усҟан зымацара еиқәхаз ақәыџьма ԥшқа
аҭыҩра иҭыҵын, сҿы инҭасҟаҟо џьара акы сымԥыхьашәозар
ҳәа, ифҩышәо, аҭыҩра ааигәа-сигәа аимдара иалагахьан.
Изламбаӡацыз, излазымдырӡоз ала аҽеиҭакноуп ишгәарлаз ан.
Абжьааԥны ашәарыцарахьтә ианыхынҳәлак, абз ҟәымшәышәӡа
ахы инықәнашьуан, иажьжьон, иахәмаруан. Иҵыхәаршәшәо,
аҽырԥагьа, ахы шьҭых, исыхшаз рааигәара анеира, рылакьысра згәаӷьуада аҳәошәа, инаԥшы-ааԥшлон, нас инеиха-неиханы
иԥхаӡа инаҿнахуан афатә. Уажәы аҭыҩра иазааигәахо ианалага инаркны, ашьҭыбжь агашьеи аҳақь-ԥсықьбжьи ацәымӷхеит
ақәыџьма ԥшқа. Ибажәгәаламуа ишнадыххылаҵәҟьаз, ацқәа
ахәдацәа иналарԥаны, икәалкәало иаашьҭнахит. Ацәа ахыбзаауа, ажьы ахьит ақәыџьма ԥшқа. Ан иацрыҵуаз ашьафҩы
аԥынҵа инҭасит. Аҭыҩрахь сҭанагалоит, уаҟа акрысҿанаҵоит
ҳәа иԥшын. Ус еиԥш азнауқәахьан хәаагара ишыҟоу, аешьцәеи
иареи аҭыҩра ианҭыҵлак, рани раби рықәӷыӷуан, ипҟаны
аҭыҩра иҭарцалон. Уажәы зынӡаскгьы имнеиӡеит аҭыҩрахь.
Ахәдацәа ианкны ишаашьҭнаԥааз, абнаршәырахь иасны
идәықәлеит.
Ақәыџьма ԥшқа иаздыруамызт, макьана иамҵацызт,
ақәыџьма дуқәа ирыҵырдыраахьаз, ашәарыцаҩ имаӡақәа
руак. Ақәыџьмақәа рҭыҩра знык иангәеиҭа, иныбжьаршәаабжьаршәны, уахынла-ҽынла ҳәа еилых ҟамҵо, дахаҩо мацара, рдаракәац нирҵәаанӡа дрыӷрыӡаауамызт. Ҭыҩрак ккаӡа
иҭацәыргьы, даҽа ҭыҩрак аҟны, ашәарыцаҩ ибла иахьамбо,
џьара ииуан, ирызҳауан, иҿион ақәыџьмақәа, избанзар иҟан
геи-шьхеи ирыбжьанакыз абнаршәыра, уи абнаршәыраҿ иҟан
дара, ақәыџьмақәа раамышьҭахь, ԥсы зхоу даҽа гыгшәыгк иазымдыруаз рхатәы ҳәаақәа.
Ақәыџьма ԥшқа иадырит цәаныррала, аԥсы еивҵахо,
аныҟәара шацәыцәгьахоз ан. Иааҟәымҵӡакәа аԥынҵа иҭасуан

ашьафҩы. Ихараӡаны абнаршәыра агәахьы ианага, уаҟа,
иахьшәарҭамыз ианаҵәах, иара, зымч каԥсахьаз ан, ашьҭахьтәи
ашьапы рыбзо, иқьуа-иӷызуа инатәеит. Ан иацрыҵуаз ашьафҩы,
ақәыџьма ԥшқа агәаҵаҿы амлашьра иаҳагьы иарӷыӷкуан.
Асыԥса аҿыҩрны ианцалак, анаараҿ ишҩеиуа еиԥш ашьац,
иҟалап, ашәарыцаҩ изшьуаз шьны, иаанхаз рҭыҩра ианҭицаз,
насгьы ан иалҵуаз ашьафҩы аԥынҵа ианҭасыз инаркны
акәзар, ақәыџьма ԥшқа агәаҵаҿ ақәыџьма аҿыхара ианалагаз. Ишыҟазаалак, игәымбылџьбароу, аԥсҭазаара азакәанқәа
иреиҳаз руаки иареи анеиԥылаз убасҟаноуп.
Ангьы иаргьы рҭыҩра гәакьахь ихнымҳәӡеит аԥхынра
ниасаанӡа. Аԥхынра ниасаанӡа, ахәра цқьа иӷьаанӡа,
игәыҟаҵагаз фатәы азаамгеит ан. Уамак инахарамкәа, ӡмахк
ахықәан иларыԥшыхәт аашьарақәа рҭыҩра. Амлашьра
ианалагаӡалак, ишырцәымӷызгьы убарҭ ржьы иналачон. Ан
ахәра анӷьа, иаргьы шәарыцара иаццалартә ианыҩеидас,
уахык, ақыҭақәа ирылсны, шьтәа жьыла рыԥсаҭа кыдҵаны
ишаауаз, имҩахыҵит иара ахьиз аҭыҩрахь. Аҿышәҭ
амаӷи ажыци ҭиаахьан, џьара-џьара еимаԥсахьан. Иара
иагәалашәон аҭыҩра иахагылаз аџь адашәпа аԥхарра. Амчқәа
ӷәӷәахазаргьы, ашҭахьтәи азшьапык кәылԥаауа иацран ан.
Ақәыџьма қәыԥш амацара иажит, иарыцқьеит рҭыҩра. Ан
ианарҵақәаз ируакын убригьы. Аха зегь реиҳа ианарҵарц изхыццакуаз ашәарыцашьа акәын. Амҩа ҭшәараҿы, инаҭрысны
зныктәи анышьҭыԥарала, аҿаҵахәы иахьамҵасыша инатәон
ан. Иара, ақәыџьма қәыԥш, аблақәа рыцымцымрала мацарагьы арахә рхы ахьырҵәахыша рзымдыруа изыршәоз, ауахьад,
мамзаргьы ашьамаҟа ҳәуа иахьықәу инархаҩон. Ан ахьтәоу
амҩа ҭшәарахь иканацарц ианарырҳауаз, иаацәырҟьаны убас
шьҭыбжьык ҳәа рҵысны ирыжәлон, егьа ҽы, егьа шьамаҟа
рахә еицызаргьы, алыцәҳа рыжәлаз џьшьаны, еижәхысла,
дасу ашьамхы аҽахьанаргаша, дасу аԥсы злеиқәнархаша
иашьҭалон. Ирҳаны шаҟа хазы-хаз еимпуаз, убасҟак имарианы рҿаҵахәы роуан ақәыџьмақәа.
Уахык, ҭагалан ианасакьаҳәамҭаз, амза ҭҭәааӡа ианкыдыз,
рҭыҩра инҭыҵит ани иареи. Ан иҟанаҵоз иаргьы иҟанаҵалар
акәын. Аҭыҩра аԥхьа ашьҭахьтәи ашьапқәа инарықәтәеит ан.

Ахы ҩышьҭнахын, Ажәеиԥшь-Жәеиԥшьырҟан имҵаныҳәо­
зшәа, абжьы рхәыҷны, акраамҭа иууан, ифҩышәон. Ладеи
ҩадеи аанмыжь, иқәгьежьаауа аҳауа иалафыҩуан. Убас
ҟанаҵеит иара, ақәыџьма ԥшқагьы. Аарла еилнаргартә ҳаиуан
фҩык аԥынҵа инҭасит. Убри афҩы аҳазар акәхарын ангьы,
убрахь, афҩы ахьынтәаауаз ахы рханы ихышәҭны инкаҳаит.
Аҿаҵахәы ааины абла иныхгылазшәа, ашырҳәа иҩаҵҟьан,
ашьапы кәылԥаауа аҿаанахеит. Ԥсы зханы аԥсабара иашаз
уеизгьы акгьы иаздыруам, аҭахара амҩа ианықәу, реиҳа
иццакны убрахь ишцо. Ирҳәоит, ауаҩы дыԥсраны даныҟоу,
зегь раԥхьаӡа ацәа иалашәоит, зегь раԥхьаӡа иадыруеит ҳәа
ақәыџьма. Усҟан иара иахашҭуеит ауаҩи иареи ирыбжьоу
аиӷара. Ауаҩы дзыҩноу аҩны ахы нақәкны ауура иалагоит.
Убри ала инардыруеит иԥеиԥшу, ианаҳәоит иҽихьчарц, ихы
ахьеиқәирхаша дашьҭаларц. Аха ақәыџьма иаздыруам иара
ахаҭа ианаԥеиԥшу аҭахара.
Ан аԥхьа игылар уеизгьы иҟаломызт. Ашьҭахьҟа аҽынкыло,
зынгьы инавагыло, абла цымцымқәа жьышо, ажәылара иазыхианы инеиуан ақәыџьма қәыԥш. Иабаҟоу абнаршәыраҿ
даҽа мчык, дара раҵкыс ииааиуа, иабаҟоу даҽа гыгшәыгк,
шәарахк, дара раҳра рымазкуа! Ибзианы иаҵахьан,
изныкымкәа иакәыршо иднарбахьан иара, ани иареи рымацара иахьынӡартәыз абна, дара рҳәаақәа ахьынӡаҟаз, насгьы қыҭақәас, ҳаблақәас дара ирыҵаркуаз. Убарҭ аҳәаақәа
ирхымсӡеит аухагьы, насгьы рҭыҩра иацәыхараны акыр
инаскьеит. Уигьы ан ианарҵақәахьаз, ақәыџьмақәа зхымԥоз
аҵасқәа ируакын. Дара рхы ахьчаразы, ашәарыцаҩ имарианы рышьҭа имырхарц азыҳәан, рҭыҩра ааигәа-сигәа иааиуаз
ҳаиуан иалакьысуамызт.
Ани иареи рышьҭыбжь аамышьҭахь, уаҳа шьҭыбжь
ылыҩуамызт, ахәхәаҳәа аԥша ыласуа, еиқәышьшьы
еиқәыӡырҩуа игылаз абнаршәыра. Инахараны, ақыҭа
агәахьынтә, иааҩуан лашыбжьқәак. Урҭ рахь рымҩа хамызт
ақәыџьмақәа. Уахь ианцо ан аныҟәашәала, агәаҽанызаашьала
иадыруан.
Икылԥш-кылӡырҩуа,
рааигәара
анеира
иацәшәо,
егьрыцрымҵуа, ицәырҟьа-цәырасуа ирышьҭан абгассақәа.

Урҭ уажәнатә ихырбза-кәырбзон. Ақәыџьмақәа ҳаиуанк
анҭадырхалак, рызхара ҭаҳаҳаны, икьаҿымыҿуа аԥхасҭа
ианахыҵлак, афасара ианхәыҵаиалак, нас ашьҭахьӡа акәын
урҭ абгассақәа ақьафурахь анеира ианақәиҭыз. Уаанӡа
рымԥан инеиз, ԥсышьацәгьа аԥеиԥшын.
Ааигәаӡа аҳаиуанқәа шыҟаз мҩашьо, рыфҩы аԥынҵа ин­
ҭасит ақәыџьма лаԥс. Адыхҳәа иааҭгылеит, афасара рҽаҭаны
рҽырҵәахит абгасса. Уажәшьҭа иҟарҵаша, ақәыџьмақәа изларыцхрааша бзианы ирдыруан, ирҵахьан. Ақьақьареи
ахырбза-кәырбзареи, ианшәарҭахо аамҭазы амаалықь
иҟазшьа аахәареи, аха аԥсы апара анырба, аҭархашьа бзианы издыруаз абгассақәа акакала рыҽшаны, иԥхеибарс,
абнаршәыра агәҭан ишьҭаз адәҳәыԥш иакәшеит.
Убри ауха изықәшәаз ӷьашьа змам хәрак иаҩызаха иазынхеит. Иахамышҭит убри аҵх хлымӡаах, Ақәыџьма-ҟьала
ҳәа аӡәгьы иазимҳәацкәа, ишаҭахыз ахаҭа ахатәы бнаршәыра
ианылаз. Иахамышҭит Ақәыџьма-ҟьала ҳәа ахьӡ цәаԥҽыга
анахьыӡхала, бнада, ҭыҩрада адәы ианықәхагьы. Агәы амызҟьаз
урҭ аҳаиуанқәа, убринахыс рыжәла зыжәлоу ахьаабоз, даараӡа
имлашьуа иҟамзар, насгьы дара аҳаиуанқәа иқәыԥшӡоу,
зтәыҩақәа маац бат ԥшқак рыцымзар, рымԥан иқәломызт.
Рышьҭыбжьи рыҟаабжьи мацарагьы агәыҭҟьара азнарҵысуан.
Ҽынла ашоуреи, ҭаха рызымҭо амҵқәеи идырҳәуамызт
аҟнытә, уажәы, ҵхагәаны, ашоура аныхҽы, аӡмах ааигәасигәа, адәҳәыԥш аҟны иҳәуан акамбашьқәа. Ирцәыӡхьоу
шьам дгьылк гәхьааргошәа, зыблақәа агәыкра рхыҳәҳәылоу
арҭ аҳаиуанқәа, аҳаиуан ҭынчқәа, ԥсы зхоу акгьы иаԥырхагам,
иажәлом, амала дара ирԥырхагахаз, мчыла ирыжәлаз,
ишәаны мацарагьы, атәыҩеи ашьапхыци идырганы, ирҟьацны
икарыжьуеит. Уи бзианы ирдыруеит, зқьышықәсала рҭархара
иашьҭоу ақәыџьмақәа. Ашьамхы аҽазнамыргартә, мамзаргьы
тәыҩала аԥсы азеиқәмырхартә иҩеидамсыц батк рыцымзар, заџьал аахьоу акы акәымзар, ақәыџьмақәа урҭ рымԥан
иқәлом ахаан. Иҟалап, мчыбжьы наҟьак агәы ҵызшьаауаз амлашьра, аблақәа аш хырҵазар, иҟалап, ашәарыцаҩ ихымҩас
амч шаркәадахьаз ахашҭзар, ишакәхалак, аҽыԥхьакны,
амҩахәасҭа ҭшәараҿы ан шынатәаз, иара, ақәыџьма қәыԥш,

абгасса ацырхырааны, акамбашьқәа ирыкәшеит, ишуазу, иууазу узеилымкаауа, бжьыцәгьас иҟаз зегьы рхаҵаны,
акамбашьқәа дрырҳаит.
Амза кыднаршәарын, убас дыдраха игеит урҭ рышьҭыбжь,
абнаккара рыцҳашьарала агәахы ҵысрын, убас еибарҟааит,
ихәаазааит, ашәара азыҳәан, зхатәы дгьыл иқәгылам ауаҩы
иеиԥшу урҭ аҳаиуанқәа. Ршьапхыцқәа анышә ҽыҭқәа
ҭыржәжәо, еижәыла-еижәхысланы амҩа ҭшәара ианбжьеибацала, акамбашь дуқәа ирынҟьа-рынԥо, ан иашьҭахх инеиуан абат ԥшқа. Рааимҟьара инақәыршәаны убри ахәлымшәа
инамҵасит, амҩа кны итәаз ақәыџьма лаԥс. Уинахыс қьреи,
ӷызреи, хәаареи, тәыҩала акшареи, акыдибаҟьареи, аибарбылгьареи, изакәытә еилаҩынтра-еилагьежьра хлымӡаахзеи
иҟалаз, еилырганы акгьы амбеит иара, ақәыџьма қәыԥш.
Абат хыршәҭны ианканажь, ан ишанарҵахьаз еиԥш, иаргьы ҭрысны иҩеиҭаԥеит, реиҳа иахьтатаз, аҷапан ахыҵәҟьа
ааԥнажәеит зныктәи ац аналарԥарала. Иазыҟалаз, иадсылаз
анахәаԥшхагьы амбаӡакәа, иадууааны, агәышҵа хаххала
абардра инылаҳаит. Ашәаҟьа аҿачы, бжьы гәыҭҟьагак ҭцаны
ихәаауан, аблақәа ашьа рхыҵәала, абардра цҟьаны иара
ашҟа иаауан камбашь дуӡӡак. Ԥшьынаԥха иҳәазаны, аҵла
аҽнаванажьит ақәыџьма қәыԥш. Аҵла хжәарц егьагымхо,
иҭрысны иаахыџхыџит, убас атәыҩала аҵла иасит, аҳәагыла
иаҩызаха иааиуаз уи акамбашь. Иара, ақәыџьма қәыԥш
аԥсы шацәнагаз цқьагьы агәра азымгацкәа, акамбашьқәа
реилагьежьра иалыҩны, аҵәаабжьы ааҩит ан. Иҟаауан
акамбашьқәа, иӷыӷуан, абжьы ҭахәаҽхо, иқьуан ақәыџьма
лаԥс. Убарҭ зегьы инарылҵны, иаҳагьы игәыҭҟьагаха, ақыҭа
агәахьынтә иааҩит ахысыбжьқәа. Аху-суҳәа иааилалеит
алақәа. Ақәыџьма қәыԥш аҿыҵа ианырхьан ашьа ԥха агьама, аха аԥсеиқәырхаразы уажәы иаҭахыз акы заҵәык акәын
— ахы ишзахәо акамбашьқәа ирылҵны абналара.
Иҵәаауан ан, рыԥсы рыхәлахо ишуаз алақәа, еибарҟаа­
уаз акамбашьқәа зегьы неиқәтәан, еихашьшьы, иууаӡа
иааҭынчрахеит абнаршәыра. Уажәшьҭа иаашаанӡа аҵх зтәыз
атқәа ракәын. Иԥсыда-инхада ҳәа еиқәҿырҭуазшәа, ашақә
иасуа еизҵаауан, еибаԥшаауан.

Ақәыџьмақәеи акамбашьқәеи, анибарҵәарада еиԥыр­
ҵшьа рмоуа, ишааидыслаҵәҟьаз, иҭахази аиааира згази
еилдыргаанӡагьы, афасарақәа ирхәыҵаланы, рыуа-ршәаџь
ыҟамкәа, рҽырҵәахит урҭ аҩмчык реидыслара, реижәҵара
иацхрааз абгассақәа. Рыблақәа кәеицеиуа, иҭахалакгьы ҳара
ҳазхара уеизгьы иаҳфоит ҳәа, харантәи икылԥшны иааԥшуан.
Амлашьра ахашҭит ақәыџьма қәыԥш, убасҟак иӷәӷәан
уи иахнагаз агәыҭҟьара, аԥсеиқәырхаразы ақәԥара. Ашьара ианаақәла, ахы ҩышьҭнахын, уамак имырдуцәакәа, ан
иаԥхьо, иааууит. Раԥхьаӡатәи ууран убри. Акраамҭа иӡырҩуан.
Мшаҽны ианишаз инаркны изаҵәу, ҿыҭуа зҩыза иашьҭоу,
аха уаҳа зызаҵәра анышәара злымшаз аты, сара слахьынҵа
улахьынҵахеит уаргьы аҳәозшәа, иҩахыкны аҿыҭра иалагеит.
Еиқәышьшьы, ихыхьчагаха аҭынчра ахагылан аккара.
Акамбашь тәыҩала иахьасыз аваҵарақәа ҭыԥсааны
иахьуа, еиҵакы-еиҵакуа, ақәыџьма қәыԥш аидыслара
ахьыҟалаз амҩа ҭшәарахь ихынҳәны аҿаанахеит. Ахаан
иазцәырымҵыцыз, иазымдырӡоз цәаныррак иамҽханакит. Иахьа уажәраанӡа иаазгоз — афатә аԥшаара азыҳәан ақәԥареи,
насгьы аԥсеиқәырхара азыҳәан ажәылареи инарыцлеит
даҽакгьы. Убри ацәанырра — аҩыза аԥшаара — харҭәаашьас
иҟаз, ԥшаашьас иамаз ҳәа акгьы аздыруамызт.
Абнаршәыреи иареи еицәымӡырц, насгьы аԥсеиқәыр­
хара азыҳәан ақәԥараҿ ақәыџьмагьы, аамҭала абгахәыҷы
иаҩызамхар ада ԥсыхәа амамкәа ианҭагыло ҟалалоит.
Бгахәыҷҵас аԥсы ӡаны, аидыслара бааԥс ахьыҟалази, агәҭа
аӡмах ҭатәаны, абна аҿыкәырша ишьҭаз адәҳәыԥши блала иааимнадеит. Џьаргьы иҟамызт акамбашьқәа. Ишьны
ишышьҭазгьы, агәыҭҟьара рызнарҵысуан ақәыџьма ду. Инахараны аҟаабжь ааҩуан збат ҭахаз ажәкамбашь. Абат ахьыҟоу,
иахьыз шадыруазгьы, абжьы гәыҭшьаагаха, еимдо иашьҭан.
Ԥаса ақәыџьма қәыԥш, ҳаиуанк абжьы алымҳа иааҭасыр, мчык
наҵасны ишьҭхысаа иама идәықәлон абжьы ахьгаз ашҟа. Ԥаса
аҳаиуан аҟаабжьы фҩык акәын иалшәшәоз иара азыҳәан —
иԥсеиқәрхагоу, имчҭаҵагоу афҩы — ашьафҩы. Уажәы асаса
ҭхаауа иҟаауазар ажәкамбашь абжьы хысыбжьык иаҩызаха
акәын алымҳа ишҭасуаз. Аха убри агәыҭҟьарагьы, амацара иа-

хьынхаз иахҟьаны изымҽхазкыз азаҵәрагьы, зегьы наҵарӡны
ихәаҽуа, аиааира агеит иара, ақәыџьма азыҳәан зегь реиҳа
иӷәӷәоу — игәыҵшьаагаха амлашьра.
Еимыжәжәо, иақәибарԥсны абат ԥшқа афара иаҿын абгасса. Ақәыџьма қәыԥш ахәдаџьал еилаҟацаӡа, аблақәа жьышо,
ишынарзыҭрысра аҽырхианы дара рышҟа ишнеиуаз анырба,
џьоукы, реиҳа зыԥсы иацәшәоз, рыбӷақәа ҭарпеи-ҭарпеиуа,
рҵыхәа қамсақәа рышьҭарҽыла, афасара ихәыҵалеит,
даҽа џьоукых ргәышҵақәа аарҳәны рыҽкаршәуа, рыц
ссақәа аарԥшуа, иқьақьеит, ԥшьынаԥха иҳәазеит. Ақәыџьма
қәыԥш урҭ ирылагылан, ашьауардын алаҳәарҵарақәа
ирылагылоушәа. Бгахәыҷык, мгәацәҳа иҳәазаны ааигәара
иааин, макьана амгәажә амырҭәыцзар акәхарын, аган
иқәианы, агәышҵа ақәыџьма иарбо, аԥышә ҵәырмаԥс
нцәыҵырҳәҳәаны, аԥхасҭагьы инамҵасны, кәац ҽыҭк аамнахуан. Убри абгахәыҷы ахәдацәа ианкны иаашьҭнаԥааит
ақәыџьма. Кәахьчажәк еиԥш, ирҳәҳәа икыднаҟьеит. Еиҭа
иҳәазаны иааихын, ақәыџьма ашьапаҿы аҽкаршәхны,
ахаҵкы-аԥсаҵкы ицо, ихырбза-кәырбзо иқьақьеит. Урҭ
хныҟәгагас убри рзишеит Ажәеиԥшь-Жәеиԥшьырҟан. Есҽны
иаҳа-иаҳа имаҷхоит, иҭахап акәымзар, даҽа гыгшәыгк
аҿаԥхьа зҵыхәа зышьҭазмырҽыло ақәыџьмақәа. Есҽны
иаҳа-иаҳа ипланы иҿиоит, ақьақьареи ԥсы зхоу зегьы
рыҟаҭәареи зшьа-зда иалоу абгассақәа. Уажәшьҭа изылшода
дымҩашьахуа аҳәара, рыуа иарбану даракәац рҿиагас иаҳа
еиӷьу, ақәыџьмақәа рԥагьара, рхыламырҟәра, рықәԥара акәу,
мамзаргьы абгассақәа рыхныҟәгашьа акәу?!
Зыӷра ҭырбганы икажьыз абат анаҩс, аҭырасраҿ, еиҵыхәхәа
ишьҭан ақәыџьма қәыԥш ан. Акамбашь атәыҩа ахьасыз,
агәаҵаӷараҿ, ацәа ԥжәаны, агәаҵәахы аҿынӡа икылжәан.
Ақәыџьма қәыԥш ҟу-ҵәыуо, зынгьы ахы ҩышьҭыхны иууа,
иаргәыбзыӷырц аҭахызшәа, иҵыхәаршәшәо ан иахагьежьуан, еимданы иафҩуан. Иахьхәыз инахьнашьит абз џьаџьа. Уи
ашьа шәхьан, ацәеижьы хьшәашәахьан.
Уаҳа уахь, убри амҩа ҭшәарахь иқәымлаӡеит, убраҟа
заҵәык акәызшәа ашәарҭара ахьазԥшыз. Иара иацәынхаз
акәац, уахынла иахеибаҳәаны, рыԥсаҭа алакыдырҵон

абгассақәа, ҽынла иахаҟыруан алаҳәақәа. Уаҳа уахь, ан
ахьҭахаз ишымнеиз еиԥш, ржьы шшаԥасалаха агьама шабазгьы, аԥсы ахьынӡаҭаз, уаҳа акамбашьқәа рымԥан иқәымлеит
ақәыџьма. Ан анацәыӡыз аԥхынразгьы, иацааиуаз ҭагалангьы,
иара мацара заҵәык ылан абшьҭрала, аншьҭрала уажәшьҭа
иара заҵәык иатәыз, иазынхаз, аҳәаақәа ацәымҩашьо изылдаз абнаршәыра. Уи абнаршәыра еиужь, инеизакны, ауаа
рбызшәала Кәыкәын ибна ҳәа изышьҭаз, амрагылара аганахьала ашьха ҳаракқәа ирыхьчон, егьдырԥшӡон. Амшын
аҟнытә унаԥшыр, абнаршәыра ахьаанҵәо, иблааӡагаха,
ӡынгьы-ԥхынгьы ирықәыз асы цырцыруа, маҳәра рызуа,
абнаршәыра иахагылан ашьхақәа. Убасҵәҟьа дара ашьхақәа
рзыҳәангьы ирԥшӡаган, ақәыџьма анрагьы ҩызарагьы азызуаз, абнаршәыра иаҵәара. Уи аԥшӡара зегьы аатуан, ашьхақәа
рмаҟҿаҳәаранӡа аҟара унхаланы, агаҿаҟа уааԥшыр.
Мшынҵас игазгон. Иара убасҵәҟьа, ажәҩан ҽыҭ-ҽыҭ аԥҭақәа
анху еиԥш, инеилык-ҩеилыкны, еилыӷраан абнагьы. Џьара
ииаҵәан, џьара алҩақ ахатәазшәа, ицәиқәаран, даҽаџьарагьы
ижәҩангәыԥштәылан. Ԥсы зхоу зегь рзыҳәан ихааӡаган уи
абнаршәыра ацәеижьы ишалдоу еиԥш ашьа зҭаныҟәо адақәа,
уи аҩнуҵҟа иагәылсуан акәараҷҷақәа, ацыхаӡқәа, иҟәызгаӡа
иҭатәан акамбашьқәа рзыҳәан иԥсеиқәырхагаз аӡмахқәа,
икылӷьашааӡа ишьҭан арахә рҳәырҭа адәқәа, аԥсаатә
рыҭра ахьыҟарҵаша аҵла еилач дуқәа гылан, агыгшәыг
иахьырҿиарҭаз абнаршәыра еиужьқәа аман, даҽаџьарагьы
ауаҩԥсы изыҳәан инырхагаха, ишшәыр-шшәырӡа еилагылан
ахьаҵлақәа, аџьқәа...
Усҟан, хыхьынтәи уанахәаԥшуа, цәқәырԥа зхым амшын
ҭынч еиԥшыз абнаршәыра еиужьра, бла зхоу ирцәыҵәахуа,
дунеи ршазар аахыс имырӡуа иаман, егьымԥсахуа иаанагон
ахатәы закәанқәа, ахатәы ԥсҭазаара. Уи аҩнуҵҟа имҩаԥысуан
аиӷарара, ишьа каҭәагаз, иаиааиуа-еиҵеиуа ҳәа анибарҵәара,
аибафара. Аха уи аҩнуҵҟа имҩаԥысуан, ауаатәыҩса абзиабара
зыхьӡырҵаз, аԥсабара аҵасқәа иреиҳау, идаракәац мырӡгоу,
алашәага реишьҭалара, ашәарах ҵысны реибаԥшаара.
Абнаршәыра аҩнуҵҟа иины, абнаршәыра иааӡаз ракәым,
анаҩс иахагылаз ашьхақәа иркыдыз ашәарахгьы, рыԥсреи

рыбзареи иара абнаршәыра иадҳәалан. Ҵаҟа, архаҟа
илбаарышьҭуамызт ақәыџьмақәа. Агаҿадгьыл цәаакыраҿ
ишьҭаз абнаршәыра, аԥсхаҵара еиԥш, аԥсҭыхрагьы азымариан. Иара иамааӡаз, иахымшаз шәарахк ашьапы ныланаргылар,
иԥсцәаҳаха иазыҟалон. Чымазара бааԥсызс иҟаз зегьы анархьуан. Убри адагьы, даҽакы аҟынгьы, ақәасабқәа рзыҳәан,
нцәахәык иаҩызан ақәыџьмақәа. Урҭ жьышо рҭархаразы
ирышьҭанаҵы, еснагь ргәырҽанын, рыԥсҭазаара, ахыц рыхханы изку арахәыц иаҩызаха, еснагь ахыхьчара иазыхиан.
Ирыздыруамызт ақәасабқәа, иреиӷьу аҳаскьын ԥсыла дара
алачо, иреиӷьу аҳауа нылбаадо, аӡыхь цқьа, аӡыхь хьшәашәа
инаҿыхәо, ашьха бӷацымкыраҿ тәарҭас, гыларҭас иахьрымаз зыбзоуроу, бжеиҳан рыӷра ҭыӷьӷьаа, имлашьуа, ҵаҟа
лбаа, арха бна илаз ақәыџьмақәа шракәыз. Урҭқәа еилкааны
ирымазҭгьы, рынцәахәы Ажәеиԥшь-Жәеиԥшьырҟан иеиԥш
иԥхьаӡаны, абнаршәыра ашҟа илбааԥшуа, ақәыџьмақәа
рзыҳәан ирҳәарын шәҳагымхааит, зыцәгьара бзиараха
иаҳԥыло ҳаӷацәа ҳәа.
Аӡәгьы иахьынӡаиашоу еилкааны имамызт, аӡәгьы дахаанны игәалашәомызт, геи-шьхеи еиманадо ишьҭаз уи абна-ккара
Кәыкәын ибна зыхьӡыз. Еиқәхеит ажәаԥҟақәак. Абнаршәыра
иазааигәоу ақыҭан, Аԥсара, амчымхарала, мамзаргьы имдырра иахҟьаны хаҵак аԥхашьара бааԥс дақәшәар: «Убасҟак
схы ԥхасшьеит, уаҳа арахь сыхнымҳәыкәа, Кәыкәын иеиԥш,
абнаршәыра сласны сцап аасгәахәт», — иҳәоит. Даҽа қыҭак
аҟны уӡырҩыр, зынӡаск даҽа ажәаԥҟоуп ирҳәо: «Кәыкәын
абнаршәыра ихы анақәиҵаз еиԥш», — рҳәоит, иаԥсамыз уск
ихы ақәиҵазар ауаҩы. Еилкаашьа амам, Кәыкәын зыхьӡыз
убри ахаҵа, ауаа рыбла дызхымԥшыло ԥхашьарак дақәшәаны,
ихьымӡӷгьы ицәа-ибаҩгьы убри абнаршәыра иаҵәахырц наӡаӡа
иҽамеидоу, мамзаргьы абнаршәыра, иара ихатәны, ӷацәақәак
ианимарк ихы ақәиҵоу. Зегьы еицҿакны акаҿы иахьыҟаҵәҟьоу
аҭыԥ шҩашьахьазгьы, аӡәгьы ишизымдыруазгьы, абнаршәыраҿ
иҟан Кәыкәын дахьжыз акардама. Инышәынҭра ҳәа акәымкәа,
акардама ҳәа акәын уи иԥсыжырҭа ишазырҳәоз.
Зыҵәҩаншьап азырсхьадаз, зхәышҭаара ҿыц еихәлазк­
хьадаз, уи абнаршәыра инылымҩыкәа иеиха ашьҭыбжь.

Акәасқьа зыргылоз изыҳәан ишшәыр-шшәырӡа изыԥшын
ахьаҵлақәа, алакациа, аџь. Рӡара еихатыруан, ажәытәӡа инаркны, иахьа уажәгьы аԥацхақәа зларышшуа ахәажәбыцақәа.
Кәыкәын ибна реиҳа дара ирхатәны изшьо, реиҳа иахыҽхәо,
иазыгәдуны иахцәажәо аԥсараа, хәыҷгьы-дугьы агәра
ганы ирҳәон ҳара ҳабна иааӡаз ашыц иалхноуп ишыҟаҵоу
Парижтәи Анцәа иан луахәама аҭуанқәа ҳәа. Ҳара иҳаздыруам
уи аҽхәара ҵаҵӷәыс иаҵоу, аха навалашьа узамҭо ииашоуп,
иахаанугьы ыҟоуп акы. Ареволиуциа ҟалаанӡа, Аԥсны амал
дегьызмаха еимҵәаны ианыргоз, Кәыкәын ибна инамариашаны, амшын иааҿықәгылон аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа
рыӷбақәа. Ажәеимгәа еиԥш, ичкәа-ҳауазшәа, ихьанҭаӡа,
ипакьымакьуа инадҵны ицон маҭәахәы хкыс иҟаз зегьы
рыла иҭәны. Абжак лафны, абжак ҵабыргны, иахьа уажәгьы
ажәаԥҟаҵас ирҳәалоит Дадын агон данагаз еиԥш ҳәа. Уи
ажәаԥҟа зыхҟьаз уиоуп, Кәыкән ибна мацара акәым, дара,
аԥсараагьы зқәынхоз адгьыл зегьы зтәыз, аҭауад Дарыҟәа
Ачачба даалаган, абнаршәыра агәахьынӡа днаханы инылаирсын, амшын ахықә аҿынӡа аихамҩа ҟаиҵеит, авагонқәа наганы иқәиҵеит. Ашьхарахьтә амшын ахь адгьыл ахьынаазгьы,
иара изеиӷьхеит. Авагон азна амҿымаҭәахә нақәҵаны ианоурыжьлак, ахала икәырны ицон.
Дадын зыхьӡыз нхаҩык, авагон днақәтәан, абри иҟанаҵо
збап ҳәа, имкәрырц агьежьқәа ирыҵаз амҿы аарыҵихит.
Авагон ашьшьыҳәа икәырны иахьынӡацоз, инаԥшуаз
ихҭарԥа ихыхны ирызҟьо, аԥша ахәхәаҳәа ирсуа, иааирак
ганы ихынҳәыз ар рԥызак иԥшра иҭаны акәын дышнеиуаз.
Инаскьацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа аласра иацлон авагон. Ақыҭа
иналсаанӡа, аҽыццышә захьымӡо, икәалаауа идәықәлеит.
Ихҭарԥагьы наихаиршьшьын, дыԥан дцарц иҽыназикит Дадын. Уахьгьы акгьы измырҽеит. Игәы имҟьеит. Амҿы маҭәахә
еиԥш, сганы аҟәара сықәнажьуеит, скыдҟьаны сашьуеит
иҳәан, ихьымӡӷишьазаргьы, иԥсы данақәԥш: «Шәсыцхраа,
хаҵа уҟазар, агон сагеит!» — иҳәан, дыҳәҳәеит. Џьоукы ҽыла,
џьоукы шьапыла, ишрылшоз иҩны ишьҭалеит. Еиқәҿырҭуан:
— — Дадын агон дагеит!
— — Дадын агон дагеит, шәеиха, абааԥсы! — ҳәа.

Ихыччоз рызхара ирччаны, ицхраарц зҭахыҵәҟьаз еихьысеиԥысуа ишишьҭаз, ақыҭа зегьы далганы, атҟәа данырҭиуа
дшымыҳәҳәара дшыҳәҳәоз, қыдбажәк еиԥш дыршәны, амшын ахықәан дылканажьит Дадын.
Акыр шықәса аԥсаратәык шәыргәындарак ихьыр, иӡбахә
ианалацәажәоз, ипырпыл ҟаԥшьха, ражәа ханарҭәаарц
иналарҵон Дадын агон данагаз еиԥш ҳәа. Ус рҳәон зны
хыччашақә, ирцәа-ԥҽыганы, даҽазны ирҳәон лафны,
еизыгәдуны, ихшыҩырҵаганы. Абас иҳәо ишааиуаз, акыр
ҵхьаны, уажәы ааигәаӡа, уи алаф иаҵаз алахҿыхра наҵабаны,
ишалахәмаруаз ирымпыҵаԥсыз аҵыс ԥшқа иаҩызахеит.
Рхаҭақәагьы ирызгәамҭаӡеит Дадын агон данагоз еиԥш ҳәа,
ашәыргәындараз ирҳәоз ажәаԥҟа — Дадын агон дагахгьы,
ҳабнаршәыра нырхага ҳамандаз ҳәа рымҳәар ада ԥсыхәа
амамкәа аҽанеиҭанакыз, ианааҳәыз уи ажәаԥҟа.
Hai letto il testo 1 da Abkhazia-Abaza letteratura.
Avanti - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03