Latin

Аамҭа иазымҵәахыз - 1

Il numero totale di parole è 2970
Il numero totale di parole univoche è 2091
0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
Анатоли Лагәлаа

ААМҬА ИАЗЫМҴӘАХЫЗ
Ажәеинраалақәа

Аҟәа
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
2017

Лагәлаа, А. И.
Л 15 Аамҭа иазымҵәахыз: ажәеинраалақәа / Анатоли Лагәлаа. – Аҟәа : Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа,
2017. – 264 д.
Д. И. Гәлиеи Т. Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, апоет Анатоли Лагәлаа
иажәеинраала ҿыцқәа еидызкыло ишәҟәы «Аамҭа
иазымҵәахыз» ианыԥшуеит ҳажәлар ргәы иҵхо,
измырҭынчуа, иацтәи рҭоурыхи уаҵәтәи рԥеиԥши.
Иара убасгьы ари ашәҟәы иагәылоуп абзиабара иазку алирикатә жәеинраалақәа маҷымкәа.
Ҳгәы иаанагоит, апоет ипоезиа иазҿлымҳау
ҳаԥхьаҩцәа рзы ҳамҭа бзиоуп ари ашәҟә ҿыц ҳәа.

© Лагәлаа, А. И., 2017
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2017

АШЬҬА ДХУП
Ак изхом, уи, ак изхом,
Зынӡа имаҷӡам, иагьрацәам…
Игхаӡаргьы, дҭанархом,
Имаӡамзаргь, изеицәам!..
Изырхом, уи, изырхом,
Уахгьы ҽынгьы ашьҭа дхуп…
Ак изхом, уи, ак изхом,
Ак аниоулак, ҽак мыцхәуп!..
***
Алаԥш бадыргеит иахьак: –
Мшәан, дзыԥҳада ари ахазына?!
Саргьы исзычҳауам уажәшьҭак: –
Анцәа дзишаз, ихазыноуп!..
Сгәаҿ гәыӷрак ааир иԥхаӡа,
Иназышьҭуада, ашә аркызааит!..
Алаԥш-ҭәҳәа шыздыруа, маӡа,
Ас иаҵоу ашәҭеиш иҵәахызааит!..
08.12.2014

***
Аӡыхәашь анлеиуа, ианшәарҭоу зынӡа,
Иара ахьышәҭҳәа са сиԥшаауеит…
Аха сусқәа анманшәалам, уи иҽыргаӡа,
Сҩыза дызҿуи ҳәа дҵаауеит!..

Аӡыхәашь сацәшәом, ицалааит, ицала,
Сагаргьы сыӡхыҵып џьара…
Аԥсҭазаара шәҟәуп, иҵала, иҵала,
Ианузымҵа, уаннахуеит уара!..
09.12.2014

***
Ҳаинаалом, ҟазшьала ҳаиԥшым,
Ихьшәашәаӡа ҵаак ҳабжьоуп…
Анкьа уи лылаԥшҵәҟьагь шын,
Уажәакәзар, зынӡа ихыжьжьоуп…
Исзымдырт, ҳаиқәымшәар зымуа,
Ҳаибамԥшаар ауҵәҟьауам мчык!..
Лыблақәа анцәажәо игәыкуа,
Саарзыӡырҩыр, сҭынчхоит хәыҷык…
12.12.2014

***
Ус ҳаиԥырҵызшәа ҟаҳҵоит,
Уа машәыршәаҵәҟьа ҳаиқәшәазшәа!
Нас ҳхы ахьнахауа ҳцоит,
Лаԥшыцәгьақәак ҳрыцәшәазшәа…
Аха, ҳаибаԥшаауеит еиҭа,
Ҳрыламӡыкәа уа уаагәарҭак..
Ишыԥшу санаҳәоит ллакҭа,
Абна иларшәу мҩахәасҭак!
12.12.2014

***
Џьым, уи ауаҩ дхеит, дхаӡеит,
Ианихәатәыз, ҳзимыхәеит…
Иара изыҳәан аӡә ҳҟамлаӡеит,
Аҵлеиԥш, илымшакәа дыхәеит…
Уажә ҳааидашшыло ҳаатәоит: –
Дзакә уаҩузеи уара иаҳцәыӡыз?!.
Абга ҳашьҭоушәа, ҳаарцоит,
Ҳашьҭа еимарыԥсоит ҳахьылҵыз…
12.12.2014

***
Насыԥк ацәаара сырбаны,
Сгәыӷра нылахәаша ицеит…
Аԥшхәынҵә ҩнеиԥш, срыбганы,
Абна инылашәкәа аҽаӡеит…
Зегьы анышәҭыҵәҟьо сзышәҭрым,
Хьаак сгәаҵа ҿнакаауеит…
Ичҳа, иухьзеи, егьаурым,
Акәашымҿ кыраамҭа ибылуеит!..
13.12.2014

ААМҬА АНДӘЫҚӘЛА…
Аамҭа ачалт еиԥш инаҳхысын,
Ицеит ҳазегь ҳаиҟаратәны…
Шьоукыхгьы баша аӡы иҭахысын,
Инеиԥырҵт, ргәы рҟычны…

Аамҭа андәықәла, иузынкылом,
Аҽуыра иаҩызоуп, ахы цәгьоуп…
Избоит, аӡышқәа ргәы ҭагылом,
Аӷәра змардаз дыццакцәоу?..
Уажәшьҭа сеидру, аԥша ахьасуа,
Дарбан иҵнажәауа здац?..
Аӡӷьеиԥш аамҭа ахьыкҿасуа,
Иҟоуп абахәҵәҟьа архәашарц…
Дарбан, рымаӡа ду змардаз,
Зны ирзоит, нас иршәауеит…
Аха ари аҩыза аамҭа аазгаз,
Рхаҭақәа лаӷәымҵас иацәшәауеит!..
14.12.2014

***
Схәыцуеит, урҭ ауаа изырхашҭи рхы,
Изыҟарҵои иааҟәымҵӡакәа шьапҿаршә?..
Ҳгәы аартцәан дара рзыҳәан мыцхәы,
Иҳармариеит убриалагь рнаршә!..
Аламыси ақьиареи цҳан ҳара ҳзы,
Ихыхны аӡы иарҭеит дара!..
Маҷк иааҳачҳапи, шәаагылишь уажәазы,
Ианыхәшәхогьы ҟалоит азыԥшра!..
Сшәоит, ҳаидызкыло абас ианрацәоу,
Ҳаидызҟьо, иарбан шьхоу изхыҵыз…
Дуаҩума, даҩысҭаау, мамзаргьы дынцәоу,
Адау ишьапы дықәҟьартә изхәыцыз?..
Аамҭа зтәу роума ҳарҭ зегь ҳазтәу,
Мамзаргьы ус ҳцоу харабӷьара?..

Дгыланаҵ ҳаԥхьа иҳалалу, згәы ҭәу,
Даӷраԥалан дцом ҳаԥсапара!..
14.12.2014

***
Шаҟантә сылԥырҵырц сҭаххахьоузеи,
Уаҳа ахаангьы сымхынҳәуа…
Шаҟантә сгәы амцқәа снарҳәахьоузеи,
Уи дыԥшушәа дсызгәыҳәуа…
Шаҟантә сзаҵәны адунеи санхалои,
Дыччо даныԥраахьои снапы?!
Шаҟантә ахыц хәыҷ сахьынҳалои?..
Шаҟантә дысԥырҵхьои лхышә аркы?!
Рацәак саргәамҵӡом сара исхыҵуа,
Саацәырҵны ахықәахьгьы сҽырбоит!..
Уажә схала урҭ зегь санрызхәыцуа,
Сгәы ахьшь амҵәыжәҩеиԥш иԥаҭԥаҭоит!..
21.12.2014

***
Ус аамҭала зегь ҳамҩасуеит,
Ҳашьҭа ихылозар шьоукы,
Ацәқәырԥ ҳаиԥшуп, наҟ ҳакҿасуеит,
Нас ҳгьежьыхуеит ҳамҭакы…
Ҳажәа акырӡа иаҳраӡаргьы,
Цқьа иангәылымшәа – иласхоит!
Ус ауп, аамҭа егьа царгьы,
Акыр ҳзыҟаҵар – иаанхоит!..
21.12.2014

***
Зны сылԥырҵыр лҭахуп,
Зных иџьалшьоит сахьымцәырҵуа!..
Зны, зынӡак, зынӡак смыцхуп,
Адәы савахоит сеиԥхьхәыцуа…
Уаҳа сақәымшәеит лҟазшьа,
Лгәы иаҭахугьы дыршьа сзамҭеит!
Апоет, иудыруаз, уанԥхашьа,
Думеигӡаӡакәа аӡы уалҭеит!..
Усгьы сышьҭанаҳәоит бжьык,
Аӡыӡ еиԥшны сгәы иналҟьоит!
Схалт, исыгӡам зынӡа аҷык,
Аха башоуп, салҟьоит, салҟьоит!
Лԥенџьыр иадхауа махәык,
Саҵкыс ишрыцҳалшьо сымбозҭгьы…
Хыла сасуан са бахәык,
Ишадԥмыххаало агәра згозҭгьы!..
22.12.2014

***
Араҟа ишәарҭоу акзаҵәыкоуп,
Ҳаиқәхоит – убризаҵәык ҳацәцар!..
Агха анҳахьуа зынзаҵәыкоуп,
Аиаша ахьыҟаҵәҟьоу ҳамбар!..
22.12.2014

***
Сыблақәа ибарҳәо ӡала,
Бызӷьычыр сҭахуп маӡала!

Зынӡакгьы сбымбазшәа бцала,
Ибасҳәо шымцым хаҵала,
Блымҳақәа ираҩшәоушәа ҟаҵала!..
Ба быда сышхәарҭам сҳәалап,
Афархьымцеиԥш бҿаԥхьа сбыллап!
Ҳамаӡа ҭаз абри акәалаԥ,
Уажәы-уажә ахҩа ҳрыӷәӷәалап,
Сгәы аҟәышра ҳахьӡаанӡа ҳцалап!..
22.12.2014

***
Наҟ бысхасрышҭуеит сара,
Сгәеисыбжь сахәаӡом банызбо…
Баҟәыҵ, изыбҭахуи сбылра,
Бхаҭа ибдыруеитеи ишыгәнызго…
Наҟ сыбхаршҭгәышьа саргьы,
Бзаиааиуазар уи ахьаа…
Араҟа иаҳхарам ҳара акгьы,
Ҳагәқәа ҳцәеилаҵәацәеит заа…
Ашықәс хьшәашәақәа цалап,
Ҳцәеижь иаҳзадымҵо маҭәоушәа…
Акагь ҟамлазшәа ҳаччалап,
Иҟалаӡазаргь, иҳамбоушәа!..
…Аха иамуҵәҟьар зынӡак,
Бхаршҭра сылымшошәа збозар…
Сгәы ҳәҳәо ибышьҭалар, бҽыԥхьак,
Ма иҵәахгәышьа, ибызрыԥхозар!..
28.12.2014

***
Сыгәҭыха сзымҳәеит иахьагьы,
Аҩныҟа саҵалан изгароуп…
Ара сырзеилкааӡом аӡәгьы,
Араҟа шәарҭароуп, ибгарроуп…
Сгәала змаздаша дызбом,
Аӡәгьы имаӡам са саха…
Сцәырымҵӡаргьы атәыла бгом,
Исыкәыршан иркым ашаха…
Сҭаԥшит аиашаҵәҟьа алакҭа,
Аха ибналан исыцәхьаҵуеит…
Сыгәҭыха абазгауеи уажәшьҭа,
Уи лаӷәымҵас сгәы иҭатҟәацуеит…
29.12.2014

***
Ибгәаӷьи, ибгәаӷьи, сныжьны банцоз,
Саргь уаҳа ак сзымҳәо саҿабкит…
Ибдыруан сгәырҩа шысиааиуаз, сшагоз,
Аха абгеи ауасеи реиԥш ҳаицҭабкит!..
Издыруеит, издыруеит, акырӡа бсеиҵбуп,
Аха сгәы иаҳауам, нас, исшьрыма?!
Бахьсԥылаз азыҳәан Анцәа ду, иҭабуп,
Бысҭахын... Уаҳа гәнаҳакгьы сымам…
30.12.2014

***
Ишәмаҳацзаап џьымхеит иҟоу,
Дасу идгылоу иԥхьаӡоит!
Иааиз аамҭа изацымныҟәо,
Ҿыц аныҟәашьа идырҵоит!..

Уаҩнагама, маҷк уҟьалоу,
Шьоукы удырҩашьама сынтәа?!
Ацәа далхтәуп, ацәа иалоу,
Даҽа аамҭоуп… Уҭра уҭатәа!..
Ушьаҿа ахьеихуго уазхәыцла,
Уажәа уацклаԥш – уҿы иҭшәо…
Аамҭа уақәымшәозар – уӡла,
Араҟа мачхәма узыцәдыршәо…
Зегь зылшаҵәҟьо адаушқәа,
Инеиуа ҳаԥхьа асаба рчуа,
Шәаагыл, шәырзыӡҩр ауаа ҟәышқәа,
Урҭ роуп ҳажәлар зыхьчауа!..
Иааиз аамҭа шныхтәым здыруа,
Иҟоуп, иҟа, ирацәаҩуп!..
Аҟамчы аахаанӡа иананыруа,
Аҽыҩгьы – хымԥада иҽыуп!..
30.12.2014

***
Иахьа былаԥш мчыла ибҵәахуан,
Ҳа ҳаздыруаз бақәыркыр ҳәа бшәон!
Саргь маҳәҵас иахьак сыҽсырххауан,
Арахь маӡала сгәы зегьы ԥыжәжәон…
Уаха аҩныҟа сдәықәлаӡом сара,
Аҵх ӡмыжьҵас сахәаҽыр ҟалоит…
Ԥшаашьа сымам, шәсышьҭамлан ара,
Уахарнахыс бгәаҵаҿ сынхалоит!..
31.12.2014

***
Ҳгәырҩақәеи ҳхьаақәеи ҳгәырӷьеи зегь аман,
Ашықәс ду ниасны ицеит…
Ҳаргәаҟит, ҳаргәамҵит, аха иааури, егьамам,
Акыр ҳкыднаҟьазаргь, инҵәеит…
Ашықәс Ҿыц аҳәыҳәеиԥш
ҳхышә хәыҷ инықәтәан,
Аблақәа гәыкы-ҵәыкуа иааԥшуеит…
Уара умсааит, ҳшузыԥшу ҳәа иснықәуан,
Аха сықәра еилазгар ҳәа сшәауеит!..
Ҳгәырҩақәеи, ҳхьааи, ҳгәырӷьеи
зегь шьҭыхны,
Ҳандәықәла, шәабацои ҳәа имҵааит…
Уа агәнаҳа змоугьы, игәнаҳа ихыхны,
Ашықәс Ҿыц, ҳудкыл, ҳаузааит!..
31.12.2014

***
Аамҭа иадыруеит иара атәы,
Иурхәашьыргьы, ахала изозаап…
Иацы ицәырҵыз аҳәатәы,
Ӡбашьа шамам иахьа ирбозаап!..
Усҵәҟьа зыӡбара мариаз,
Иааинырсланы, баша ажәала,
Иахьа игәарҭеит ишхьанҭаз,
Ишырзышьҭымхуаз урҭ жәҩала…
Ицәгьам ажәытә арыбгара,
Уазымхәыцыр, уаҵә иузааиуа…
Аӡәгьы дцәырымҵӡацт ара,
Ишиҭахыҵәҟьо аамҭа иаиааиуа…
01.01.2015

***
Иҟаз аиаша, ус аԥсы ҭаз,
Ибзиоуп, дара ианырԥырхагам!..
Аха аҿы анцәажәа уи ишахәҭаз,
Ижәбома рҳәеит, аа, ҳҭархага!..
Нас ҳабанӡацои абас хаз-хазы,
Иҳамоу – инымҵәаӡо гәалоуп…
Абзиа анаҳәо, иаҳҭахуп ҳхазы,
Ацәгьа анаҳәо – иҳашәмырбароуп!..
Асҵәҟьа ҳашзымцо рбарҭоуп зегьы,
Аиаша ахи аҵыхәеи еилҳаргароуп!..
Иааизар, инхааит, иаҳҭом аӡәгьы,
Абраҟа уи аҭра иҭаҳартәароуп!..
Мчык ауп иҟоу, ҩ-мчык ҳҭахӡам,
Ҳабаргои урҭ аҩбагь еицылар?!
Аиаша азааигәара амц ртәатәӡам,
Ишәарҭоуп ахааназ еишьцылар!..
01.01.2015

***
Бысцәыӡыр ҳәа сшәоит ҵабыргны,
Ибыӡбазар сынбыжьырц са схала?..
Абасҵәҟьа гәырҩала сырҭәны,
Сахьзымнаӡо ҭыԥк ахь банхала,
Ицәырҵышт ихьшәашәаӡа мчык,
Изырӡыҭуа ԥхаррак ҳабжьамкәа…
Срыцҳашьа, сбыҳәауеит знык,
Саанхеит сара аҽуыреиԥш сыбжьамкәа!..
Бысцәыӡыр, зегь сцәыӡуеит сара,
Зынӡак исҭахӡам сыԥс исхоугьы…
Ибҭахызар, иркьаҿ сыҿҳәара,
Исҟәыга, уи амра исзыԥхоугьы…

Ҳазхааныз згәалашәо аанхап,
Инарҿықәыххлап ҳахьӡқәа иаҳхылҵыз…
Ҳахьынӡаҟаз бзиан, иҳазхап,
Ҳахьымҵәыуап сбыҳәоит, иаҳцәыӡыз…
02.01.2015

***
Сара амшқәа срыхьҵәыуар сҭахӡам,
Акакала ицоит инасԥырҵны…
Сыдгьылгьы стәымны сахӡам,
Санылеит анасыԥ сыцны…
Аха аӡыхьҵәҟьагь зны иҭабоит,
Иахьыҵхәрааз аҭыԥгьы ахашҭуеит…
Уахь зҿыназхаз баша ишабоит,
Мчы маӡак мчылаҵәҟьа иашьҭуеит…
Амшқәа сгәырҩа рымгаӡеит,
Схьааи сареи мчыла ҳаизнрыжьит…
Ирхарои, зынӡа ирымбаӡеит,
Урҭ аҵлеиԥш сыхжәаҵәҟьан скарыжьит…
Шьҭа иналаршәны сажәагь быруеит,
Зны еиҿамскәа ицәажәоз рахь салхын…
Ажәҵар реиԥш сымшқәа ԥыруеит,
Рыҭра ахьыҟарҵо сеидру урҭ аԥхын?..
02.01.2015

***
Ибзиоуп, уа уакәзааит Аԥсны еиқәзырхаз,
Ԥсыхәаҵәҟьа змамыз ҳаӷа дҭазырхаз…
Ицызгьы, ишьҭазгьы рхы лазырхаз,
Рыԥсыжәқәа рзымгакәа аҵәҩан иахазырхаз!..
Аха егьырҭ аԥсуаагь зҿыз убауан,
Шьоук бџьарла, шьоук жәала еибашьуан…

Ухалаҵәҟьа уҟазар Аԥсны еиқәырханы,
Ухьыӡгьы зырымҳәари зегьы рханы!..
Аибашьра ашьҭахь амал ӷәӷәаӡа урҳаит,
Уҩызцәагь уаарыхәаԥш, захьӡыз умаҳаит…
Аԥсуаа зегь ӷарны, уанбеиаха уара,
Иуеибашьыз абазкгьы иаԥсаҵәҟьам ара!..
03.01.2015

***
Быблақәа исарҳәааит, уаҳҭахым ҳәа уара,
Аха ирзыгәаӷьӡом ус аҳәара!..
Урҭ иргәаԥхоит санаҿу абылра,
Усҟан зынӡакгьы ирхым агәырҩа,
Быблақәа абас сыздыргәаҟуеи сара?!
Ирҭаху здыруеит, урҭ ирӡаӡом,
Ишмаӡоу инрыжьуеит, зынӡак ирҳәаӡом…
Аха исыцроу амцагь сырцәар руӡом,
Ус харантәи ишазмырԥхо рбаӡом,
Шьаҿак ма иҟарҵар, аха иқәацаӡом…
Быблақәа ааԥын бзиа ирбауеит,
Аӡын рҭахым, зынӡак иацәшәауеит!..
Сыҷкәынра абаҟаху, сықәра зӡауеит,
Аха сгәы иахьаҭаху сықәлан сцауеит,
Быблақәа ирҳәар, еиҭах сҿахауеит!..
03.01.2015

***
Банызбалак,
Аԥша зҵасуа амшын саҩызоуп,
Сыцәқәырԥоит!..
Ишԥазури,

Сшьапқәа сыҵԥраан, ба бахьыҟаҵәҟьо
Сыргоит!..
Баргьы иаразнак,
Мцак быцрасны, аԥыр-ԥырҳәа
Ббылуеит…
Цәқәырԥа еишьылҵас,
Сеиҭакҿасны,
Аҟәара бнықәԥаан бызгауеит!..
03.01.2015

***
Аԥардеиқәаҵәеиԥш иааимылԥаан,
Аҵх дналашәкәеит лара.
Дышсымпыҵҵәраауаз еилыскаан,
Ҿысҭт: – Бҿахьымааҳәуа бцала!..
Ус, са суада дааҩнаххылеит,
Акы лхашҭызшәа ҟалҵан.
Саргьы сыҩны сналԥыххылеит; –
Сбыҳәоит, уаҳа шьҭа бымцан!..
Илуаз дақәшәомызт акраамҭа,
Илҳәогь лҿамшәаӡеит зынӡа!..
Ах, уахазаҵәык дымгәаанда,
Сгәы мбылуашәа сыԥхьаӡа…
Ҳагәқәа ирҳәоз ҳмаҳаӡакәа,
Зынӡа атәылаҵәҟьа дрыбгон…
Аҵхгьы уаҳа имшаӡакәа,
Ҳаибабарцаз аамҭа агон…
Нас, дындәылҟьеит дысзымхәыцкәа,
Шьҭа издыррыда уи лԥеиԥш?!.

Амшын дуӡӡа иазымӡыҩрыкәа,
Шьҭахьҟа ихынҳәуа ацәқәырԥеиԥш!..
04.01.2015

***
Аҽаԥсахуеит аԥсабара,
Ԥшьаамҭак амоуп есымша,
Ауаҩгьы иаҳҭом ҳара ахара,
Аха еиҳаитәит уи илша!..
Иацы дахьыҟаз иахьа дыҟам,
Иахьа дахьыҟоу – уаҵәы дҟалом!..
Иацы дыззыҟаз – иахьа дизыҟам,
Хланҵы дҭеиҵар цәгьа ибом!..
Дааузымдырыртә деиҭашәоит,
Шәынтә иҽеиҭеикуеит иара!
Зны дмараҳәуп, зны далшәоит,
Зны дааузычҳашам абра!
Аԥсабара ԥшь-аамҭак аиҭеит,
Иахәҭоуп ҳәа азиԥхьаӡеит Ҳазшаз…
Аха ауаҩы ҽакала дгәеиҭеит,
Уаҳа изымдырт иҟазшьаз!..
05.01.2015

***
Сашәақәа, шәашҭа сҭахеит, сҭахацәеит,
Сашәақәа, ишәҭахыз сҳәеит, сшәырҳәацәеит!..
Шьҭа даҽа жәҩанкахь сшәымпыҵԥраан
сԥыруеит,

Шьҭа даҽа мҵәыжәҩақәак
сышьҭырхуеит, ииуеит…
Сашәақәа, ахаангьы шәынсыжьӡом сара,
Шәынсыжьырц сҭаххаргьы
шәысԥырҵру шәара?!.
Сахьышәԥшаауа шәасҳәоит
сышәцәыӡыргьы абра,
Ажәҩани адгьыли рыбжьара џьара!
05.01.2015

***
Ажәҩан саламшәҟәҵас иаанашьҭуеит асы,
Иҟәашӡа, ипашәӡа…
Адгьылгьы гәырӷьоит: – Уааз абааԥсы,
Издыруада иаразнак иҭалар сыԥсы,
Шьҭа аԥхаррақәагь ҭашәҵа!..
Ахьҭақәа дәықәлеит зехьынџьара шьҭа,
Аҵаа иаркацеиуеит…
Гәбӷансгьы иауҭозеи аӡынра уажәшьҭа,
Узҭамԥшуа аҽарцәгьеит иара алакҭа,
Ԥсы зхоу зегь гәаҭеиуеит…
Адәы сықәхацәеит, дысзыԥшызар лара?!
Исхароуп, исхароуп!..
Урҭ ахьҭақәа ҩналаанӡа снеины сара,
Сазыӡҩруа афархьымца аҷҷаҳәа абылра,
Изгәаӷьып ԥшьаала лқьышәқәа ргәыӡра!
Цқьа дысрыԥхароуп!..
08.01.2015

***
Ҳабаҟоу, ҳахьааихьоу здыруада шьҭа?..
Ҳамҩақәа наҟ ихароума?!
Даара ҳзықәгәыӷуа, иаартума рлакҭа,
Ма изҿу ԥарарҳароума?
Иҵҩрны игылоу аҵлеиԥш ҳаанхеит,
Ҳдацқәа роуп иҟоу ԥсмышьҭыган…
Иҳахьыз ҳаздыруам, зынӡа ҳаӷахеит,
Ҳныҳәатәзар, ацәашьы наҳхыган?!
Аӷәӷәақәа абаҟоу, рыбжьы ҳаҳаӡом,
Ирыхьзеи, рымчқәа каԥсама?
Аурҭҵәҟьа рыхьӡазар, рыӷба зцаӡом,
Ма ацәқәырԥқәа иԥыххаан иргама?..
Аӡыхәашьқәа ҳрырит, аӷӷарақәа аанхеит,
Урҭгьы ҳархысроуп ҽыҳәҵәыла!
Аџьныш иҟамаҵәҟьа аҿы ҳаҿахеит
Ҳанзымца, инырхуеит ҳкәыкәылах…
Ҳахьыҟоу, ҳахьааихьоу шәамызҵаан аӡәгьы,
Зышьҭахьҟа ихьаԥшызгьы дгәарҭеит…
Ҳгәырӷьан ҳаԥылоит ибзиоу аԥсрагьы,
Анцәа уи зылахь ианиҵаз – дишаҭеит…
08.01.2015

***
Шьҭа акымзарак ҳзеилам, ҳа ҳаилгахьеит,
Ихьшәашәаӡа лылаԥш насхьысит…
Аԥхаррақәа абаҟаху, урҭ зегь цахьеит,
Саргьы сыццакцәан, сгәы саԥысит…
Машәыршәа ҳанеиқәшәо, ус ҳааихәаԥшуеит,
Ҳџьаршьоит, ҳа ҳамаӡа здыруаз…

Ибылхьоу акәицеиԥш, ҳаччаԥшь ҭаауеит,
Уи аарла ҳәа акәын ишаҳныруаз…
Ҳарҭ анкьа ҳахьеиқәшәалоз аҭыԥқәа аанхеит,
Ҳшьапашьҭыбжьқәагь ргәалашәоит макьана…
Исзымчҳакәа урҭ аҵлақәа рҿыҵәҟьагь
сҵаахьеит: –
Зны арахь сара исыцааилоз дыжәбама?!.
Аҭацацәа иреиԥшуп, рхы дырҵысуеит,
Урҭ ажәакгьы шырҿыҵымшәо сныруеит…
Аха зымаӡа ззымҵәахуа бӷьык ҵысҵысуеит,
Ларгьы сара дышсазҵаауа снардыруеит…
Зны-зынла арахь сшьапқәа мчыла сааргоит,
Исымбаӡакәа мцаԥшькгьы ԥшьаала
инасҿалон…
Зны ихасҵом… Зны уи аамҭа шцаз
агәра згоит,
Ҩ-ӡиаск реиԥш, лареи сареи
абраҟа ҳаилалон!..
10.01.2015

***
Аамҭа иамазкуада ара?!
Уи иагәаламшәаз – дыԥсит…
Уа иуҭахызар дрыҽхәала,
Ихьӡгьы асеиԥшҵәҟьа иԥсасит!..
Аха дпоетҵәҟьазҭгьы иара,
Мшәан, убризаҵәык изхоит!
Аамҭа дзафаӡом абра,
Уи ибаҩхатәра деиқәнархоит!..
11.01.2015

***
Ихьчатәуп, рҳәоит, ҳбызшәа,
Уи зегь раҵкыс иаламцәажәо!..
Иҟарҵарц анырҭаху аҭыӡшәа,
Иаҳдырбарц анырҭаху ишыгәжәажәо!..
Дара рҩнаҿ сасра ауеит,
Рхәыҷқәеи рмаҭацәеи ирыздырӡом…
Аха адәахьы икакауеит,
Рылахь шҷышәу аӡәгьы инырӡом!..
Ҳаргьы ҳхы нарҵыс-ҵысуа,
Ирҿаԥымххаакәа ҳнарԥырҵуеит…
Иҳамҳәар, ҳбызшәакәӡам, џьым, иԥсуа,
Иҳамҳәар, ҳаԥсуара аԥсы ахыҵуеит…
11.01.2015

***
Аԥша ҵәыуо адәы ицәхалеит,
Аӡәгьы аҩныҟа инаишьҭӡом…
Зных уи ашьхқәа ирхалеит,
Урҭгьы ԥхаррак азынрыжьӡом…
Асҵәҟьа ԥхамшьашьа жәбахьома,
Адәы иавахт аԥша рыцҳа…
Уахык ма шәҩны иԥхьахьоума,
Иқәлахьоума мамзаргь шәыцҳа?!.
Зынӡа хьаасгьы ишәымкуазар,
Иамырԥшаауазар шәгәы шҵәыуо,
Гәыбӷанс иамои аԥша гәыкуазар,
Ишәзымдыруазар шәара ишшәууо?!
Ихьагәгәа аҩныҟа ихынҳәгәышьоит,
Ма аԥсра нанагоит шәа шәааҵран…

Аԥша уаҳа ихнымҳәуа џьышәшьоит,
Ахаангьы иҟам иара хьаҵран!..
12.01.2015

***
Ачамгәыр унацәкьарақәа анаҿушьлак,
Ишәаҳахьоума, абжьы шхьу-хьууа?!
Убасоуп, уи аӡӷаб данысԥырҵлак,
Иааҟәымҵӡакәа сгәы шсыхь-сыхьуа!..
Нас иабаҟоу араҟа схара,
Сгәы лзынмыжькәа сзымаауазар?!
Уи иахылҵуа амца аԥхарра,
Ла лҿы заҵәык имҭаауазар?!
12.01.2015

***
Исхамышҭӡеит, быблақәа шсыхәаԥшуаз,
Маӡала ицәажәон аашаанӡа!..
Акызаҵәык уи ауха са исыхәашаз,
Ҳаздәылҵызҭгьы, ба баб дааԥшаанӡа…
Аха иамуӡеит ҳҩыџьагь иаҳҭахыз,
Иџьаушьаша, иаалырҟьан дҿыхеит!..
Шәуада хәыҷ усгьы иаубахҭахыз,
Сдәылууаартә мчыкгьы сыхеит…
Уиижьҭеи шәхышә ԥшӡа схашҭӡом,
Аарла лашарак кылԥхоит…
Мчык насҿагылан, уахь сашьҭӡом,
Идырым доуҳакгьы сзылԥхоит…
Исхашҭӡом, быблақәа шсыхәаԥшуаз,
Еиқәаҵәа сымсылӡа, имаахыршәа…

Хәшәы ыҟамызт урҭ реиԥш исыхәашаз,
Аха инысмыжьыр амуит, исҭахымшәа!..
13.01.2015

***
Акыр ҳаиқәнархозар ҳара,
Ҳқьиара ауп ҳаиқәзырхо…
Ҳнанагоу сеидру хара,
Иаҳцәиӡоит Анцәа ҳанҭахо…
Ишҳашьҭоугьы ҳаџьал блаҟьо,
Ҳашьҭа зынӡа иазмырхар…
Иарбан бахәаԥшьу изынҟьо?..
Ҭынчрак ҟалон иҭахар!..
Ҳгәыҵәҟьа ҳазкаршәуам ара,
Агәҽанызаара ҳацзарц ҳахәҭоуп…
Ҳхьаақәа рыбжьара џьара,
Ҵларкәыкәҵас аԥсра рыбжьатәоуп!..
13.01.2015

***
Мшәан, зегь ҟәышқәоупеи араҟа,
Уанрыҿцәажәо, рыхқәа ԥжәоит!..
Нас, изҳагуи ҳара абриаҟра,
Ҳхы ҳазныҟәымгар ҳәа ҳшәоит!..
Шьоукгьы араҵлеиԥш идрышәшәазаап,
Аха илеизеи ҵаҟа – араԥ!..
Зегь ацәажәараз ҳаиқәшәазаап,
Аха аусаҿ – зынӡа мап!..
14.01.2015

***
Иреиӷьу аамҭақәа ҳаԥхьаҟа ишьҭоу,
Мамзаргь ҳархысхьоу?!
Шьҭа иҳазҳәарымашь ажәа иҳахәҭоу,
Уи ақәрагьы ҳҭысхьоу?!
Аамҭа анҳазнымкыла ҽа шьоукы иртәхоит,
Знык аӷәра аҿҟьахьазар!..
Ажәагь аԥсаатәеиш ааира агәаԥхоит,
Ҳгәаҿ аҭра ҟанаҵазар!..
Аамҭа еиларҩнтны шьоукы идырхәашьуеит,
Шьоук ԥшуп изаанӡа…
Ашәҭыц иаҩызоуп, ршьапы иадыршьуеит,
Ибыбышӡа ишәҭаанӡа!..
Дасу иара ииаша, дасу иҿаҵахуп,
Илбааидоит, дагозаргь…
Иреиӷьу аамҭақәа шьҭа иааир рҭахуп,
Ҳара иаҳмыршәозар…
14.01.2015

***
Сгәы дынҭалан ирхәашаанӡа,
Дсымбаӡеит!..
Уи дсыздыруамызт уажәраанӡа,
Шьҭа дысҵеит!..
Ииҳәо еижьаган, ииуа еижьаган,
Зегьы мцын,
Сдагәан, сдагәан, дсыртәеит днаган,
Ҭыԥк ҭацәын…
Амҩа исҭеит, ацҳа изхысҵеит,
Ԥхьаҟа дцарц…

Уиҟәаҵ ҳәа сазҳәоз сырзымхәыцӡеит,
Дыҿиаларц…
Аха ишьапы даннықәгыла,
Дҿаҳәатәхеит…
Анкьатәи иҩыза, анкьатәи игәыла,
Иаӷахеит!..
Иараӡәк иакәушәа избарҭоу,
Зегь ара…
Амҩа дықәлеит аӡә дымшаҭо,
Ҽырбара!..
Ианасыжьуеит… Иа итәы ишԥаки,
Ауаҩ барбар!..
Ма баҩхатәраки, уаҩраки,
Руак збар!..
15.01.2015

***
Ахала иааиӡом анасыԥ, ԥхашьоит,
Амца иалҟьо акәиц еиԥш иумбаӡакәа,
Инауаҩсуеит уи зынӡа умбылӡакәа,
Аха амца ахьумкыз џьанашьоит…
Ахала иааиӡом анасыԥ, ԥхашьоит…
Уаргьы ԥшьаала унеиуеит иумбазшәа,
Уцәа иҭоугӡо усгьы ирацәаӡоуп…
Адунеи уа ишутәым агәра угазшәа,
Анцәа иузоуижьыз умшқәагьы ԥхьаӡоуп,
Аха ԥшьаала унеиуеит иумбазшәа…
Иҟалоит уи амҩагь иацәыхҟьар,
Уауҿ акәу џьшьа инҭаххыр ҽаӡә иашҭа…

Ма ҵлашьапык ашшараҵәҟьа ианҟьар,
Знык икыдҟьаз, кыр иаԥсоума ақәашьда,
Ишԥарыцҳау, амҩа иацәыхҟьар…
16.01.2015

***
Ииҳәаз сашьҭам, уи иҿы иақәнагоз иҳәеит,
Иимҳәаз ауп! Ахаан са сгәаҵаҿы инхеит!
Амақьа иеиԥшын, ихшәааӡа иҟан уи иԥшра,
Ах, ацәымӷра, амцеиԥш иҵашуан убра!..
Ҩызас дсыман, цәгьа дысзааигәастәит иара,
Ибзиаз амшқәа еицаҳхаагаҵәҟьеит ҳара…
Ихиҿгьы лашан, цәгьашәа деиԥшын амархәац,
Уи иччаԥшь иаҵаз, са исызгәамҭоз
ауп итҟәац…
17.01.2015

***
Абзиа уны иасҭоит аӡы, иагалааит,
Ари игәы ҭбаацәоуп! – Изҭаху ирҳәалааит,
Ма дгаӡацәоуп, санырбо иччалааит,
Рнацәақәа сықәкны харантә
сеибадырбалааит!..
Ииашоу абарҭ роуп! – Шьоук дрыҽхәалааит, –
Ирҳәазгьы ҳәоуп, дара ҳаргалааит!..
Сара схы цәырызгом, урҭ рбалааит,
Абзиа уны иасҭоит аӡы, иагалааит!..
17.01.2015

***
Аамҭа уаҽхьҩрҩрны уанкаҳа,
Уаҳа уақәымтәан, ичҳа…
Ажра жроуп, уи знык уанҭаҳа,
Уаҟа духәаӡом ҭынха!..
Ус ауп аамҭа, ахы цәгьахазар,
Нас иузақәҵаӡом кәадыр…
Аха укаҳашьа ԥшӡахазар,
Убригь акыр иаԥсоуп, идыр!..
18.01.2015

***
Сашәақәа сԥырҵуеит, рцәаара сахьырԥшны,
Рымҵәыжәҩақәа шкәадахо збоит есҽны,
Ҳахьынӡеицыз бзиоуп, убригьы сызхоит…
Анкьеиԥш сцәаныррақәа рхы сҭарԥаны,
Иреиӷьӡоу анасыԥ шыԥшу сырбаны,
Уажәгьы зны-зынла иаацәырҵны сыржьоит!..
Иазхоуп! Сахьнанаго здыруеит сшьамхы,
Баша изсыргәаҟран сзыҟоузеи схы,
Ахақәиҭра рымоуп, исԥырҵны ицааит!..
Сашәақәа, иԥыжәымжәан шьҭа сыԥсахы,
Исҳәеит, исҳәаран иҟаз сҿахәы,
Шьҭа шәымра хааӡа ҽаӡә иашҭа иҭаԥхааит!..
18.01.2015

***
Мап, мап, бареи сареи иаҳзеилам акгьы,
Мап, мап…
Мап, мап, бабахь сыргом сшьапқәагьы,
Мап, мап…
Мап, мап, ҳахьеиқәшәалоз снеиуам зынӡа,
Мап, мап…
Мап, мап, шьҭа схагахом бызбар быԥшӡаӡа,
Мап, мап…
Мап, мап, уи аҷкәын изызуам шьапҿаршә,
Мап, мап…
Мап, мап, сиԥырхагам ихиазар инаршә,
Мап, мап!..
Мап, мап, исҭахым ба бҩызцәагь рлаф,
Мап, мап…
Мап, мап, исымаӡам анкьеиԥш ақьаф,
Мап, мап…
Мап, мап, исыздырӡом, уажәшьҭак
ҳара ҳԥеиԥш,
Сеилагоит…
Аха банызбо, акалмаҳа ахьҭоу аӡеиԥш,
Сыцәқәырԥоит!..
20.01.2015

***
Бца нас, шьҭа хаҵа, мшәан, сгәы зегьы бфеит,
Бқьышәқәагь еиҭабшәит, быхцәгьы
ҵыбрыффеит!
Бҩызцәа еишьҭагылан зегь хаҵа ицахьеит,
Аӡәаӡәала рчарақәарҿ ҳтәан, иаҳфахьеит!

Банызбо зегь схашҭуеит, сыхшыҩ еилагоит,
Сшьапқәаҵәҟьагь мчылы аҩныҟа сыргоит!..
Акагь ҟамлаӡазшәа бара еиҭах быччауеит,
Саргь усҟан сабиҵас сгәы еиҟәыҷҷауеит…
Схәыҷым, нас изааӡари саргьы зынӡа,
Иббоит иара сышларагь шьҭа ишсыхьӡа!..
Уи былахь еиқәнамҵааит,
бгәырҩаҵәҟьагь ҵәахы,
Ҳамаӡагь бцәаҵымҵааит амарџьа, быԥсахы!..
Аха избоит сара исҳәо зынӡа иббырҳауам,
Саныббауа анкьеиԥш быбла ҭыԥхаауам!..
Бца нас, шьҭа хаҵа, ибзеиӷьзаргьы ббап,
Саргь усҟан сгәы ҭынчхап, ма зынӡа еиқәтәап!..
25.01.2015

***
Уаҳа ҳмеицәажәап бааи зынӡагьы,
Ҳгәы иҭоу раҳамҳәап ҳҩызцәа аӡәгьы…
Иҳамаӡамшәа, зынӡа маӡагьы,
Иаҳхараӡамшәа уаҳа акагьы,
Ус ҳнеиԥырҵып ԥшьаала иахьагьы!..
Ирҭаху рзымдыруашәа ҳагәқәагьы,
Еицырҳәо ашәа ианхнахуа еиҳагьы,
Ҿымҭкәа бсаҩсуашәа ҟаҵала баргьы,
Аӡиас анлеиуа ишарцәгьо еиԥш абжьгьы,
Бызгоит брылԥааны бимҭакәа аӡәгьы!..
28.01.2015

***
Агәра бгозар сара исҳәо, сыбԥырхагам,
Сыбԥырхагахартә изуеи, сара схагам!..
Блашацәазар, бхаацәазар, быԥшӡацәазар,
Нас исхарои, амыцхә бзиа бызбацәазар?!.
Агәра бгозар сара исҳәо, сгәы сызхәыцуам,
Исанаҳәоит:- Уахымццакын, умра хыҵуам…
Уқәраҵәҟьагьы, шьҭа ушықәсқәа
акгьы ахыҵуам,
Уанылбалак, уи нахыс ларгьы
деиԥхьхәыцуам!..
Агәра бгозар сара исҳәо, зегь маӡазааит,
Урҭ ирзеилои, инеихәаԥшуеит ауп
ҳәа иԥхьаӡазааит!..
Бара быда сгәы аӡә дшызҭамло
бхаҭа иббазааит,
Абга цхлымқәа ирцәыбналаз
ажьеиԥш бҭатәазааит!..
29.01.2015

***
Сыбԥырҵуеит… Сшыбԥырҵуа
са соуп издыруа,
Аҵх хьшәашәа сналаӡны сцоит…
Иҟалап баргьы бгылазар маӡала буазыруа,
Сажьаҵәҟьоу сыздыруам, сыгә
усшәа снарбоит…
Бысцәыӡуеит… Гәырҩак хааӡа инасылсуеит,
Мцакгьы аԥыр-ԥырҳәа сгәаҿы еибакуеит…
Сынасыԥ сзахьымӡар, саџьал саԥысуеит,
Ԥша-шәышәыкгьы асуам, аха ахьҭа сакуеит…

Ҳаиԥырҵуеит… Ҳалахь даҽак анымзар,
Иҟалап ҳаиқәымшәаргьы уажәшьҭа зынӡа…
Бысҟәаҵ, сыбхаршҭ, зынӡа сыбҭахымзар,
Сбыҳәоит, ахаан ҳаибамбацшәа иԥхьаӡа…
30.01.2015

***
Аамҭа исзақәмыршәеит сшьаҿа,
Уи сзахьымӡеит ианеихызгоз…
Ицеит исаҩҟьан аӡә ихҿа,
Дарԥаԥашькуан иахьиаԥызгоз…
Уажәшьҭа сабагари са сԥеиԥш,
Ибжьысхрызу уи снапала?..
Аамҭа иалахаз – ахеиԥш,
Иарымжьышьклашт сара сгәала…
30.01.2015

***
Урҭ абзиа рымбаӡеит,
Ианырԥыла – рыбла хырҩеит…
Зыгәра ргоз – идыргаӡеит,
Еиларгаӡеит рышьҭеи рымҩеи…
Аиаша ахьыҟаз имцаӡеит,
Ианырҿаҳа – аҵәаӷәа ахьыршьит…
Амц аҳәашьагь рҵаӡеит,
Ацха ахьыҟаз рнапы ҭыршьит…
Урҭ ахьцозгьы сымцаӡеит,
Ҳарҭ иаразнак ҳамҩа еиҿыҵит…

Сашҭа сҭымҵит, уи сҭаӡеит,
Сашҭа еиӷьыз – сзымхәыцит…
30.01.2015

***
Нас иазызуеи, сгәы хыҭхыҭуеит банабо?!
Бара сбықәлоушәа сдәықәлароуп сҽырбо!...
Даҽакала уимацәажәои уара угәра зго,
Аха иоуҳәои, уҳәатәы хамҵа уныҟәызго!...
Нас иазызуеи, бшьаҿақәаҵәҟьа зыԥхьаӡо?!
Иагьараангьы ба ибымбацт иара анбыхьӡо!..
Бнаскьанагоит быццакны аусура банцо,
Уа баннеилак, инаббԥырҵуеит маӡа аҽӡо!..
Нас иазызуеи, ах акәачрахеит цәгьаӡа,
Есымша ибыцзарц аҭахуп иаргьы ԥшӡаӡа!..
Исзынкылом, уи сзынкылом сыгәра га,
Аҭра иҭыԥоит, зқьаф ҭоу аԥсыӡеиԥш, банаба!..
01.02.2015

***
Нас иахьаҵкыс ишԥеиӷьымхари џьым уаҵәы,
Ҳабанӡахо, мшәан, абас есымша аҵәы?..
Иаҳҭахуп шьҭа, иаҳнырыртә амрагь
ааҳхаԥхар,
Иаҳҭахуп шьҭа, ҳшьапы
ааиҵаҳхырц иааҳгәаԥхар!..
Шаҟа абиԥара ргәы еиҵажәны иҳацәцахьо,
Бзиак рбаанӡа ишлаӷәаӷәаӡа урҭ ажәхьо…

Шаҟа абиԥара ҳаԥсадгьыл ршьала иркәабахьо,
Ргәыӷра ишеижьо, аӡ хышхыҵәа ирцәагахьо…
Нас иахьаҵкыс уаҵәы шԥеиӷьымхари шьҭа,
Издыруада, ҳҭаԥшыр мшыхаак алакҭа…
Аха ҳазхәыцуеит, аԥсабараҵәҟьагь џьашьауа,
Заа иааиуа, аԥхарра ашәырқәа шажьауа…
01.02.2015

***
Шьҭа иабаҟоу сара сышықәсқәа исыцәцаз,
Гәырҩеи хьааи амыҟәмабарақәеи зҵаз,
Сааныжьны исԥырҵит…
Сызрыхьӡама, уахгьы-ҽынгьы сгәы иҭаз,
Сзынаӡама, снаӡаҵәҟьарцгьы иахьсыхәҭаз,
Сымра хыҵит…
Шьҭа иабаҟоу анкьа сҩызцәагьы сызцыз,
Исымагәышьоуп уаҩ изышьҭымхша ацәыӡ,
Сынхама схала?
Аӡәыр ихәома сааҟәымҵӡакәа сызҿыз,
Баша иааԥсама сара исыбжьаз аҽыз,
Ицоу ҽрыххала?..
Шьҭа иабаҟоу ихааӡа амра исзыԥхоз,
Рылаԥш сыцым ашьабсҭақәагь сызгәаԥхоз,
Ӡыжәра ицазшәа!..
Ах, уи аԥшӡара, иааҭаххаргьы сҭазырхоз,
Ах, уи аԥшӡара, иааҭаххаргьы сеиқәзырхоз,
Иӡт, ишәазшәа!..
04.02.2015

***
Баша угәаҟуеит, баша угәжәажәоит
сажәеинраала,
Даҽаӡәуп уи аӡӷаб лгәы ианаала,
Улҟәаҵ, улҟәаҵ!..
Ушылҭахымыз знык иуалҳәеит лара хаала,
Шьҭа деилукаар улшоит уаргь ухала,
Угәы умфарц…
Са схаҭагьы исхызго уара иудыруеит,
Уи агәырҩа сабылуеит, исныруеит,
Аха исычҳаит…
Уахак сааҟәымҵкәа башаӡа суазыруеит,
Сажәеинраала схьаақәа аӡӷьеиԥш ирыруеит,
Исҳәаз амаҳаит!..
05.02.2015

***
Мшәан, зегь раҵкыс быччаԥшь зсҿабрыԥхеи,
Измаанои, убас изысгәаԥхеи,
Сартәом, сартәом!..
Ба бансцәыӡ исаҳәи, исзынхеи,
Аҩы бзиеиԥш сааигәа бааԥхеи-ԥхеи,
Бныжь сызцом…
Изури, ианцәажәатәу сҿы акуеит,
Афархь зларԥсаз амцеиԥш сеибакуеит,
Баасеигӡар маҷк…
Ҿыц ииз аҳәысԥшқеиԥш сбырбыруеит,
Сыхәдагь хҽит, нас сыблагь ԥырԥыруеит,
Иахаршәу даҷк?!.

Мшәан ианбасҳәа иаразнак бгәы нзырхеи,
Зегьы брылкаан абас бысгәазрыԥхеи,
Уазхәыцла шьҭа…
Закә мчуи, абасҵәҟьа сҭазырхеи?!
Амацәысеиԥш быччаԥшь сҿазрыԥхеи?!
Блакҭа, блакҭа!..
06.02.2015

***
Схы ахьынахо инықәыршәны сцап,
Иахьыҟам ҟыҟ-ҿыҟи ҭыӡшәеи…
Исыхьи, исыхьзеи сзыцәшәеи,
Аиаша сахьгылогь исҳәап…
Ҳаԥсҭазаара ахыцеиԥш иххоуп,
Унацәхасыр, иҭҟьоит ҳаӷеиҭа…
Ҳазхысыз, ҳазхьаԥшрым еиҭа,
Аха араҟа аиаша иаӷоуп…
Схы ахьынахо инықәыршә сцалап,
Аха уахьгьы исыцрыҵшам схьаақәа,
Ус сныҟәалап ԥшьаала имырхьаакәа,
Сшьап амаӷыш шалоу зӡалап!..
06.02.2015

***
Агәаӷ илыҳәҳәоит арахь,
Изынкылом, мчыла ицәырҵуеит…
Уи ззымычҳаз данизаӷь,
Игәы иҭаӡамыз ак ихәыцуеит!..

Ишԥеиури, иӷрашуеит,
Ицәыримгар, инаҭом ҭаха…
Шьоук рзыҳәан ишауеит,
Иараӡәк иааимоуӡазаап аԥсгаха!..
Иҩызцәа ианрызбылгьо акәтаӷь,
Иара дкыдҟьауа дызкузеи?!.
Агәаӷ илыҳәҳәоит арахь,
Уи дызламхәаҽци, изыԥшузеи?!.
06.02.2015

НАС, ИЗДЫРУАДА ҲАХЬЦО?!
Нас, издыруада иаҳзыԥшу?..
Шаҟа гәаҟра ҳрыниахьозеи,
Шаҟа еибашьра ҳхаагахьоузеи,
Шаҟантә ҳаџьал ҳацәцахьоузеи,
Шаҟантә ҳаӡбахә дрыххахьоузеи,
Нас, издыруада иаҳзыԥшу?..
Нас, издыруада ҳазҿу?..
Ҳбызшәа иахьынӡахәҭоу иҳахьчама,
Ҳҳәаақәа бзиан иаҳрыӷәӷәама,
Ҳҵеира ҳреигәырӷьартә иҿиама,
Ҳажәлар абзабаа дҳарбама,
Нас, издыруада ҳазҿу?..
Нас, издыруада ҳахьцо?..
Цқьа ҳахьҭышәынтәалам ҳгәалоуп,
Аамҭа ӡеибафара ҳалоуп,
Ҳусқәа шаҳаӡбо ҭынхалоуп,
Ауаҩы дангәаҳҭауа данхала ауп,
Hai letto il testo 1 da Abkhazia-Abaza letteratura.
Avanti - Аамҭа иазымҵәахыз - 2
  • Parti
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 1
    Il numero totale di parole è 2970
    Il numero totale di parole univoche è 2091
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 2
    Il numero totale di parole è 3060
    Il numero totale di parole univoche è 2112
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 3
    Il numero totale di parole è 3094
    Il numero totale di parole univoche è 2154
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 4
    Il numero totale di parole è 3127
    Il numero totale di parole univoche è 2135
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 5
    Il numero totale di parole è 3224
    Il numero totale di parole univoche è 2129
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 6
    Il numero totale di parole è 3144
    Il numero totale di parole univoche è 2121
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 7
    Il numero totale di parole è 3188
    Il numero totale di parole univoche è 2189
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 8
    Il numero totale di parole è 1435
    Il numero totale di parole univoche è 1094
    0.0 delle parole sono tra le 2000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 5000 parole più comuni
    0.0 delle parole sono tra le 8000 parole più comuni
    Ogni riga rappresenta la percentuale di parole su 1000 parole più comuni.