🕙 25-मिनट पढ़ा गया
Аамҭа иазымҵәахыз - 7
शब्दों की कुल संख्या 3188 है
अद्वितीय शब्दों की कुल संख्या 2189 है
0.0 शब्द 2000 सबसे आम शब्दों में से हैं
0.0 शब्द 5000 सबसे आम शब्दों में से हैं
0.0 शब्द 8000 सबसे आम शब्दों में से हैं
Уи аччаԥшь шәытан исынхалеит,
Зегь акоуп, са сҿы иааӡеит!..
***
Еиҭах аԥсҭазаара сажьеит,
Иснарбаз зегь иашаз џьысшьеит…
Анапы ахьақәнакыз снаӡеит,
Ишысҭахымыз сымыч ԥысшәеит…
Еиҭах уи алу ду гьежьуеит,
Иара аангылашам ахаан…
Стәар, арыц еиԥш сарҟьыцуеит,
Сцар, исышьҭалоит игәаан!..
УИ АБЖЬЫ…
Уи абжьы сара ҭынч сартәаӡом,
Сыцәа аԥсымҭаз, цхыбжьонла исхалоит…
Исҭаххеит ҳәа џьаргьы сзацәцаӡом,
Аха зны-зынла сышьҭа сырҟьалоит!..
Зных ашәымҭак, схала саанхоит,
Бзиа избон, анкьа ус сгәы аҭахәыцра…
Иӡны иҟаз, шәахәак сгәы иааҭаԥхоит,
Аха исыздыруам, убригь шаҟа ахыҵра…
Зны ԥсҭҳәақәак сара сыжәҩан ҵырҟьоит,
Тымитышахь исыхоит сыргарцаз…
Уа бахәаԥшьи цаҟьаԥшьи срынҟьоит,
Уаҳа ахаан лахтыра сымбарцаз…
Зных уи ацҳа агәҭа сшықәу ихжәауеит,
Сышьҭыԥаан идәықәлоит ӡ-хышхыҵәак…
Сааԥсауеит, сааԥсауеит, сыхәжәауеит,
Аха сыӡхыҵуеит, гәыӷрак насҩыҵрак…
Зных исышьҭоуп, зны ицоит исаԥызан,
Санацәыӡлак, зегьы ирызҵаауеит…
Уи абжьы, ԥша-ҵәыҵәык исзаҩызан,
Наҟ быжьрабжьҵәантә икылкәраан иаауеит!..
***
Уаҳа сеилылкаар лҭахым уи аԥҳәызба,
Уаҳа деилыскаар сҭахӡам шьҭа саргьы…
Уажәыгь исгәалашәоит уи раԥхьа данызба,
Ихаакәакәараӡа лыччаԥшь сҿаԥхоит иахьагьы!..
Аха уи уажә исцәылӡоит, уаҳа ислырбашам,
Иҭаршәны илҵәахызар ҟалап ҽаӡә изы!..
Са сзыҳәан дыччашам, са сзыҳәан дҽырбашам,
Даццәырҵшам амза уи хәылԥазы…
Шаҟантә сужьахьоузеи, сгәы, са схәыҷушәа,
Уаҳа сузхәыцны схыҵуам ашәхымс!..
Лацәааихьшь ҟамҵакәа есымша дысзыԥшушәа,
Ахааназ дысцәыӡуашәа сгәырҩа санзахымс…
Уи зегь еижьаган, ишызбоз слыԥсахит,
Ацаԥхеиԥш лҽахалыршәит ҽаӡә инацәкьыс!..
Убриҵәҟьагь лбааздарц, исымбарц уҭаххахит,
Мап, сыҟамзар еиӷьуп, уи збаҵәҟьар аҵкыс!..
Ҳанеибабоу иааибаҳҳәоит: – Ушԥаҟоу, бышԥаҟоу,
Ҳабзиабара, ҳаизгәыкра абаҟаху иаҳԥырҵт…
Уи, анкьа сеилазгоз лыччаԥшь хаа абаҟоу,
Абнаршәыра иагаз амҩахәасҭеиԥш, исцәыӡт…
***
Ари амшгьы сԥырҵт иԥхашьа-ԥхаҵо
ашьшьыҳәа,
Ахаангьы ҳаиԥылашам уажәшьҭа…
Уи аасгәалашәалар, схы иасҭалап ҽыԥныҳәа,
Аҽааиҭанакып иаразнак слакҭа…
Ари амш сԥырҵт, зынӡак акгьы ҳзеилымхкәа,
Схы здыскылогь дсымам, сзаҵәуп…
Сыԥсҭазаара исзаламгалт уаҳа «арҽеирақәа»
Гәы зызҭам арасеиԥш, сҭацәуп…
***
Иаци иахьеи рыбжьара исымбозар уԥсҭазаара,
Иузхымҵазар цҳак…
Уахӡыӡо, унапы аларԥан, иукуп уара умазара,
Уацәшәом аӡә иҳақ…
Уҟан, ухы азыҳәан,аӡәы изыҳәан шьаҿакгьы,
Уимыхәт, иҟаумҵеит…
Ашәыр ҵла уаҩызоуп, ҵәак зҿамлац зынӡакгьы,
Ушгылаз уканӡеит!..
***
Ус лаԥшыла зегь еибаҳҳәеит,
Акгьы аанҳмыжьит ҳагәқәа ирҭаз…
Аха ҳцәаныррақәа зегь ҿаҳҳәеит,
«Шәхы шәымҩахан, уаҟа шәтәаз!..»
Ас иахьакәым, ас уаҵә акәым,
Ицоит ҳаԥсҭазаара ԥырны,
Иац иџьаҳшьоз, ҳазлаз лакәын,
Иахьа ҳусқәа зегь бырны,
Исҭахым сахҭыгәлар сықәра сҭысны,
Насыԥк ацәаара сымбаӡо,
Лабжыш цырак бӡамҩа иаҿысны,
Быхәда ҵҟәашаа ианахьӡо…
***
Аҵх, узҭынчуи? Исымчуи, исымчуи,
Анкьеиԥш схы усызҭарԥаӡом!..
Ас ианшәарҭоу сбызшәеи сџьынџьи,
Зынӡа ухьанҭыџьуп, усзырҵысӡом…
Аҵх, кагь соумҳәан, ичҳагәышьа,
Иҵәахы, ухьаақәа уӷрагәа…
Лашьцарак салԥшны хара аԥшышьа
Сырҵа, ус схәыҵаумшьын ааигәа…
Хыхь еҵәаџьаа еилаарцыруеит,
Сеидру, иахьрылоу сара стәы…
Аҵх, изсоумҳәои, зегь удыруеит,
Сахьӡоу, сахьымӡауоу сгәахәтәы?!
***
Быччаԥшьгьы уаҳа сахыбааӡом сара,
Ибхашҭит зынӡак сгәы аԥжәашьа!..
Аха усгьы зны-зынла ибылшоит сбылра,
Сҳәыҵәы-ҳәыҵәуеит, сақәшәом ацашьа…
Исхашҭхьоу абзиабара аарла ихынҳәуеит,
Сгәаҿ ҭыԥ хәыҷык шамоу адыруеит…
Зны ашоура сҭанаршәуеит, зныхгьы слаҳәуеит,
Зны аӡы иӡааршәлоу ахьеиԥш, ицырцыруеит!..
Уи алаԥш схьмӡозҭгьы, сыҽсырӡуан зынӡа,
Аха сычҳарагь сзақәгәыӷуам даарак…
Уи ак ауп исымоу, ибасҳәоит имӡа,
Аарла ҳәа сахьзырԥшуа аԥсҭазаара ацәаарак…
***
Исычҳаит, исымҳәеит, изжәагәеит сара схьаа,
Уаргь уи акәын уззыԥшыз, уеихеит…
Аха иудыруаз аҩыза, даҽа знык санургәаа,
Угәы уҭаччо узцом, уҭахеит!..
Са исымоуп ҟазшьак, уара иудыруеит, сахыԥом,
Иара еилазгаз ахааназ дсаӷоуп!..
Иаҭаххаргьы сшәаӡом, ицәгьарахаргьы
сгәы ҭыԥом,
Амала ауаҩыраз – сара дысҭынхоуп!..
***
Анцәа ду, суҳәоит, хьымӡӷ сумырган,
Аҵашьыцҩи агәыԥхҭи зынӡа исумырбан…
Шаҟантә иҟарҵахьоузеи са сзы шьапҿаршә,
Шаҟантә ирҭаххахьозеи ашьаршьаф насҿаршә
Ицарц, нас, уаҳа ахаангьы срымбарц,
Ҳхаҵкы дҳашьҭыҵәҟьеит ҳәа шьоук
рҿы иҽхәарц!..
Анцәа ду, суҳәоит, хьымӡӷ сумырган,
Ауҩы хәымга, дықәумгалан са сган…
Сыла даԥырга ламыск џьара измаӡам,
Срыцҳашьа, дысҟәыга, баҩхатәрак злаӡам…
Аџьабаа сацәшәом, иахьахәлаанӡагь сцәаӷәоит,
Урҭ уаҳа исԥумыжьлан, уажәшьҭа исызхоит!..
***
Лгәы иаҭаху сзымдырт сара,
Лхәыцрқәа уаҳа имзаӡеит…
Днахеит зынӡак ҳаҽҳәара,
Асабшақәа акыр лыԥхьаӡеит!..
Са сыччаԥшьгьы мчыла иҵәахуа,
Уи днасыртәан агәра лсыргеит: –
Ҳанасыԥ аӷәра аҿарххуа,
Ҳзаҿузеи, амҽыша ҭацәхеит!..
Ишызбоз дааихаччеит лара,
Гәырӷьа лабжышкгьы лыҿшәоит…
Ҳнап акәыршан ҳтәоуп ҳаҽҳәара,
Амҽыша аӡәы иаҳцәигар ҳәа ҳшәоит!
***
Дсазҵааит са сҩыза, аиаша ааигәахама ҳәа,
Алакҭа ҳазҭаԥшрыма ҳәа шьҭа…
Изеибакуеи ажәлар, абасҵәҟьа маха-маха,
Имааир ҳәа ишәома руахҭа?!
Иасҳәоз са сҩыза, ихараҵәҟьоуп ҳәа сзымҳәеит,
Иааигәаҵәҟьангьы игылан избом…
Аиаша еиԥынкылан аџьықәреи еиԥш
изхымҳәеит,
Макьанаҵәҟьа аҳауа агәра азгом!..
***
– Маҷк иаасаӡар – ацҳа сықәлоит,
Маҷк иаасаӡар – аӡгьы сыруеит!..
Маҷк иаасаӡар – ашьха скыдлоит,
Уахь уназго амҩа здыруеит!..
–Маҷк иаасаӡар – хыла дҭасҵоит,
Маҷк иаасаӡар – адунеи данысхуеит!
Ахаан дызхьамҳәуа анышә даҿасҵоит,
Лашара изымбо ибла ҭысхуеит!..
Абас ишеишьҭоу ауаҩи аԥсцәаҳаи,
Ҵа змам хықәк аҿы еицнеиуеит…
Рыуа дарбан уахь иҭаҳауа,
Убризаҵәык – иаргәаҭеиуеит!..
***
Уи иуирдырӡом ахаан акала,
Игәы иалоу, ма дзеигәырӷьо…
Рҿаҿы иреиҳәаӡом ажәала,
Аха ирацәаҩӡоуп зцәа зхиххьо…
Иара рыцҳагь убас дыхьшәашәоуп,
Илаԥш ҵаа уарқыџьқыџьуеит…
Дышуаҩсуа зынӡа уимбазшәоуп,
Деиҵалоит, ҩысҭааҵас деиџьыԥуеит!..
Уи ахаан агәырӷьа иҽеиҭом,
Гәырҩоуп иблақәа ирыхтәалоу…
Ибаны даанхом ауаа ҽеиқәа,
Дгәырӷьоит – адамра ианҭало…
Иԥсы ҭоуп, изҭоугьы издыруам,
Маӷҵас ауаа рыбла дхыршәлоуп…
Ишу дабылуам, ихьшәашәоу иныруам,
Адунеи ҭакар баша дцәыршәлоуп…
***
Еиҭах лыччаԥшь насҿаԥхеит,
Шьҭа аахәлаанӡа сгәаҭеилоит!..
Еиҭах слышьҭаларц сеихеит,
Лҩны дсықәшәаанӡа снеилоит!..
…Еиҭах сзеигәыӷуаз зегьы мцуп,
Ҽаӡә дҭалыршәхьеит лгәаҵа…
Зынӡак иааицрымшәауа еицуп,
Аха снеиуеит, избаз хамҵа…
Еиҭах, ла лыччаԥшь сажьеит,
Ари анасыԥгьы цеит исхыԥраан…
Уи лгәы са сзыҳәан имаатӡеит,
Ус саргәыбзыӷт, ашә хәыҷ сзывҵраан!..
***
Мап, сзацәымцеит лара лылаԥш,
Аа, уи сахәаҽуеит еиҭа!..
Аха нас, ҽаӡә иахь данынаԥш,
Цәгьашәа илырлашеит ллакҭа!..
Шьҭа уазхәыцла ҳауа дарбан,
Даҵаҽырбан зыхьӡ лыҿшәо!..
Ма иҭалыртәо лгәы-хаа днаган,
Ма лхәыжәҵәы гачамк зықәшәо!..
Нас, уи лылаԥш ҳзацәцаӡаргьы,
Лымца ҳзалҵуама уажәшьҭа!..
Егьаурым мшәан, ҳалбылӡаргьы,
Былрахәшәми лыччаԥшь ахаҭа!..
***
Дуӡӡак ҳашьҭаӡам ҳара,
Ҳадгьыл ҳамазааит ҳаԥшәыман…
Ҳбызшәа ықәыҩлааит абра,
Дҟамлааит аԥсуа ара дарыман…
Дуӡӡак заҳҭахуи ара?!
Ҳаԥсадгьыл хәыҷ ҳалаӡозар!..
Ахаан имыцәартә ҳхәышҭаара,
Ҳҵеицәа рзыҳәан иаҳзеиқәырхозар…
***
Игәы иҭаз изҩызҭгьы,
Ажәеинраала зиизҭгьы,
Усҟан аҩра иалагаз,
Апоетцәа рахь дыршьон!..
Ихатәроу шәҟәыҩҩк ибазҭгьы,
Уи маҷк изырҽхәазҭгьы,
Хымԥада иаргь усҟан,
Дпоетҵәҟьоу џьишьон!..
Игәы иҭаз изымҩит,
Ажәеинраала зымиит,
Апоетцәа рыгәҭаҵәҟьа,
Днаган дызлауртәои?!
Идырбома бла хаак,
Ирызҳәома жәа хаак!..
Нас иҩныҟа ԥшьаала,
Днықәланы дымцои!..
***
Ииасыма баша саамҭа,
Аӡәыр ихәома сзыхьӡаз?..
Сзышьҭаз ус дук аҿ снаӡаанӡа,
Сымҩа ику, сшьаҿа зыԥхьаӡаз?!
Гәыӷрак ыҟоуп, аарла иҿымцәац,
Инасыцрыхоит, зынӡа сартәом…
Иҟалап сахьӡаргьы уи сызхьымӡац,
Иҟалап, макьана ацәаара збом…
***
Хәыҷы-хәыҷла иҿыцәаауеит ҳамца,
Егьбыгӡам бсыцәтәымуаҩхарц шьҭа…
Ех, са сгәыԥжәага, сҳәатәхамҵа,
Изысцәыбӡои есымша блакҭа?!.
Егьараан сыбхабршҭырц бҭаххаргьы,
Бхы ахьынахо бсыцәцаргьы хаха…
Са исымоуп, шьҭа исылшоит ибсырбаргьы,
Бгәы аҷараҳәа иаазыртуа ацаԥха!..
***
Зынӡа, о, зынӡаҵәҟьа еиԥшӡам,
Ҳзықәдыргәыӷзи, иаҳзааргази аамҭа,
Егьа маҭәа ашәырҵаргьы иԥшӡам,
Шьоук баша иԥшын, – Уажәшьҭа иаанда!
Еиҭах ахықә ҳазааигәахеит ҳара,
Еиҭах уи аҵа тымитыша ҳхықәгылеит…
Ех, агәырӷьаха ҳмаӡеит ҳазхара,
Ҳаџьал гәықәха аҽырмашьцан иаҳԥылеит…
Мшәан абас ҳазԥишәауеи ҳазшаз,
Заа изхихуеи, ҳназықәгылаз ацҳа?..
Шьҭа иаҭахызар, уи ахьӡгьы ахьыршаз,
Уи агәырҩа ԥнаҵәарц егьагым ҳгәаҵӷа…
Ҳаззыԥшыз дунеи ссирк наскьацәеит,
Уаҵә игылоу сеидрума ирԥеиԥшу?..
Чмазара бааԥск ҳажәлар арҳәацәеит,
Аԥсҭазаареи аԥсреи зегь анырзеиԥшу…
***
Гәыкала дсацәажәоз џьысшьон лара,
Усҟан ҽаӡә иакәын дзызхәыцуаз…
Зынӡакгьы илзымгәаӷьит сыхьӡ аҳәара,
Лҩызцәарҿ иԥхалшьон исхыҵуаз!..
Ус ауп аԥсҭазаара, ихәмаруа уажьоит,
Уаргь уи агәра ган уашьҭоуп укәаруа!..
Ақәыԥшцәа уанрылоу, уҿаҵәҟьоу џьушьоит,
Уқәрагь шанхоит – уаныхәмаруа!..
***
Сымшқәа исарҳәои, инасԥырҵуеит иццакуа,
Уажәшьҭа сҿазҳәои, уажәшьҭа исымои
сзызгәыкуа?!
Са сашәақәа, саадырццакын сҿахәы сҳәеит,
Урҭ сдацқәагьы, иахьынӡасылшоз исрыӷәӷәеит…
Сыԥсадгьылгьы, уажәшьҭа шәарҭа ӷәӷәак
иацәцеит,
Сбызшәа – шьабсҭоуп, ас ду илсит, имыԥсӡеит!..
Ҳлахьынҵа акәзар, ус иаҳқәашьуп, ирыххоуп,
Аха сыжәлар, ҳҵеицәа ршьала еиқәырхоуп…
Амшын ихыршәлоу анышь хәыҷ
сеиԥхыӡуеит сара,
Уажәшьҭа сазхәыцуеит зынӡа иҭынчу аҟәара!..
Гәыбӷан сымам, исылшоз амеигымӡеит ара,
Нас иахарои, ацәқәырԥа ианалымшо
ацәқәырԥара?!
***
Уаҳа схынҳәӡом ҳәа сылԥырҵит,
Мчылаҵәҟьа лгәаҵа слыцәҭыҵит,
Абзеираз ҳәа ласҳәоит уажәшьҭа!..
Аха уажә еиҭах ҽак лхәыцит,
Алашьцара лҽалак дымҩахыҵит,
Ихаакәакәараӡа иччеит ллакҭа!..
Сгәалақәа сԥырҵит ишызбоз,
Сышьҭырԥааит, сеидру сахьыргоз,
Схы сзҩнакуазма аҩны!..
Уаҳа сыхнымҳәкәа, сабацоз,
Сгәара сахымлар, сабацәоз,
Саақәгылеит сҿыцӡа сины!..
***
Џьара иаангылатәуп уажәшьҭа,
Џьара иргылатәуп акәаԥ
Уи ҳзазыхынҳәуам еиҭа,
Ҳаздәықәлауам ахықә ҳҽаҭ…
Аха ируҵәҟьауам шьоукы,
Аӷәра рымпыҵшәар ҳәа ишәауеит…
«Шәнапқәа ҭаршәҵәҟьан ишәкы!»
Маҵуарқәак рҵыхәа дрышәшәауеит!..
Арахь хықәуп, ҳаӷеиҭа,
Анахь ҿҟьарроуп, уаҿаԥсуеит…
Ҳаи, ицәгьамхандаз ҳуахҭа,
Гәырҩа еиқәаҵәак ҳҭанасуеит…
***
Урҭ аиаша нарымпыҵҟьан,
Зымҩа ибрит…
Уажәшьҭа сеидру рыгәҭакыҵәҟьа,
Знык иблит…
Шьҭа ахәахәагь роур ишьҭырхуеит,
Ианццакуа…
Урҭ рҿаԥхьа баша шәхырхәоит,
Агаӡақәа!..
***
Анкьатәи ҳхаҳрышҭып, анкьатәи ԥсит,
Ҵааҵас ихьшәашәеит ҳцәанырра…
Сгәы бзымхыҭхыҭуеижьҭеи абар акыр ҵит,
Иаиааиуеижьҭеи анбатәиу сыхдырра…
Ус ҳаибабаргьы, егьҟамлазшәа ҳнеидыҵп,
Анкьа акәын амца анҳацралоз…
Асахьаз ибҭахызар ус акы ҳхәыцп,
Иџьаҳшьозшәа ҳабла зыдхалоз!..
Кәиц хәыҷык ыҟоуп амца зыцроу,
Аха уи ҳагәқәа рыҵаҿ иубарҭам…
Сеидрума абзиабара иаԥшшәу, изеиԥшроу,
Уи уажәшьҭа сықәраҿ ишәарҭам!..
***
Иҟан ҳәаак, иахьынгылатәыз ара,
Уаҟа инҵәон ҳара ҳаизгәыкра аҽҳәара,
Уаҳа иаҳгомызт ҳара ажәақәа рыгәра,
Ҳацәшәон рзыԥшра…
Иаадыруан заа, уи шаҳцәыцәгьахоз убра,
Аха иаҳзымгәаӷьт зынӡа ажәакгьы аҳәара,
Аԥша ианарцәа, ԥшьаала иаҟәыҵыз абылра, –
Цәашьқәоуп ҳара!..
***
Уи дыхьшәашәаӡа дысԥылоижьҭеи акыр ҵуеит,
Саргьы сазҵааӡом илыхьыз, лгәы нзырхаз…
Ус ҳнеиԥырҵны акгьы еибымҳәакәа ҳцауеит,
Аха ҳарҭынчум уи ахьаа ҳгәы иҭахаз…
Гәнаҳа сымамшәа, акгьы схарамшәа збауеит,
Исыхьыз сеидру, исыздыруам сара сԥеиԥш…
Уи ҳанааиқәшәо, лылаԥш сҟәыган илгауеит,
Ан леишәацәгьа, лхәыҷ иаб дшилмырбауеиԥш!..
ИԤЫМҴӘАР ҲГӘАХЫ…
Маҷк ауп ирыгу, маҷк иаашәычҳа,
Аранӡа шәанааи, акрыбжьома?!
Амцҳәара иаҟәыҵзар, аиаша дшәырҳа,
Ахәыцҵәҟьа еиҟәзыршәо дрызжьома?!
Кыраамҭа ианықәха амҩа иашәеит,
Аиаша ҭынхадахеит даара…
Акызаҵәык ҳақәым, ҳуалқәа зегь ҳшәеит,
Аха иҳаԥгылахт инымҵәаӡо зҵаарак:
Ҳашьҭахьҟа иааиуа рымҩа зхьанҭои,
Реидара уаҳа изласымхеи?!
Ҳазҿыз анырмыхәа, ҳабацои, ҳазцои,
Ҳаԥсқәаҵәҟьа змырҭәуазеи, иаҳзымхеи?!
Асҵәҟьа жәбахьоума, зегь еибажьоит,
Ацҳақәа хырххьеит рыбжьара…
Аиаша иахаанхаз бзамыҟәҵас дыршьоит,
Амдыр изыруеит ачара!..
Амци аиашеи рҳәаақәа еилагеит,
Дыршьагь узрыҭом, еилаӡҩеит…
Иҟәышцәан ицәажәаз баша игәраагеит,
Ҳагәқәа ҳҟачыхуеит, – имаӡеит!
Урҭ зегьы рыӷбақәа амшынаҿ иӡсоит,
Иӷәӷәоуп, изургозеи рԥырсалқәа!..
Ҳарҭ, еиҭа ҳҿыцӡа, аӡсашьа ҳҵоит,
Шьоук реиҩшараз иҳалырхуеит асалқәа!..
Иабацеи аҟәышқәа, иааԥсама ршьамхы,
Рҭыԥаҿ гьангьашқәак ахылоит!..
Ԥыҭрак иазычҳар, иԥымҵәар ҳгәахы,
Аԥсаатәеиԥш ахшҩгьы ԥхьарылоит!..
***
Излалгәаӷьыз сеидру, са сышҟа дааԥшит,
Лыблақәа исарҳәеит: – Умцароуп!
Иаразнак гәҽанызаарак асеиԥш сҭанасит: –
Уи лҩызцәа машәыршәагь срымбароуп!..
Аҵыхгьы еимыггомызт уи ауха зынӡа,
Иԥхашьаԥхаҵо ашарагь зҩнамлеит!..
Ашьыжь шәахәахаа игәаӷьны ианҳахьӡа,
Ҳӡамҩа агәыӡрашьҭеиԥш ианхалеит!..
***
Ашықәсқәа ҳа иаҳзыԥшуама, ицалашт,
Ҳазҭымҵуа, ҳаԥҭылашьцаак ҳҭалашт…
Иҟан, изыхьӡазгьы рацәоуп, рҳәалашт,
Уи ҳашьҭагь, рзанымхуа ианхалашт…
Игылап аҵеицәагь, ҳазҿыз еиқәзырхо,
Ицәырҵып нас, ҳахьыӡгьы ҭызго!..
Ҳамҩашьахуа иаадыруеит урҭ ауаа закәхо,
Ҳбызшәа ԥшӡа, аӡыхәашь иацәызго…
***
Макьанагь сеиларгоит аӡӷабцәа анцәырҵуа,
Сеидру, урҭ аҩсҭаацәа санырбо изызхәыцуа,
Иԥхашьоушәа ҟаҵо…
Ус снарыдҵуеит саргьы сеиԥхьхәыцуа,
Сҽеиԥштәны амра аԥхарра иаҟәыҵуа,
Ԥшьаала иҭашәо…
Аамҭа иҳабжьалаз омак имԥырӡазаап,
Ҳааигәара иҟан, иаҳԥырҵны имцаӡазаап,
Амҵәыжәҩақәа збоит!..
Зынӡакгьы схәыҷымзаргь, зынӡакгьы
сажәӡамзаап,
Аӡӷабцәа баша амцаԥшь рыкӡамзаап,
Санырбо иҽырбоит!..
***
Сылԥырҵыр сҭахуижьҭеи, ианбатәиу? Иауамеи,
Акы сҿанаҳәоит…
Ус хыхь-хыхьла ҳнеицәажәалап,иамеи,
Гәаныла исҳәоит…
Аха лыблақәа убас исыхәаԥшуеит скылкаан,
Гәнаҳак ҟасҵар?..
Акы лҳәарцгьы лҭаххеит, аха лыбжьы
анлызҭымкаа,
Лҿыналхеит дцарц…
Шьҭа лԥырҵшьас исымои, самыхәеит, самыхәа,
Сгәы лыцны ицахьеит…
Аанкылашьагь сзаҭом, иахаз аҷапырхәа,
Иабаҟоу, иԥҵәахьеит!..
***
Аамҭа ааины аԥсаатәеиԥш иқәтәеит,
Абар, уаԥхьа…
Ҳҿахәы зузымҳәеи,нас, иуқәшәеи,
Ма иуҩыз уаԥхьа…
Аха иажәа ахыҵәҟьа икаанӡа,
Ицеит инықәԥраа,
Аамҭа алакҭа цқьа дҭаԥшаанӡа,
Иагәамԥхоу иқәра?..
Нас узаԥхнҩлои, уабацо,
Ушьамхы кәадазар?!
Аамҭа ззеилымкаакәа иԥхазҵо,
Ицеит, иуршәазар…
Ҳара иаҳхарои, уи зыцәурӡыз,
Шьҭа иаабашам…
Макьана ицәырымҵааит, иԥхыӡыз,
Зыгәра аагаша…
***
Ҳагә иалоу, ҳгәы ишалоу ҳаԥылароуп аԥсра,
Аха аԥсуаа иҳамоуп ашьанҵеиш анҵра…
Иаҳмырӡроуп ҳа ҳгәыӷра, мышкызны ҳахьӡоит,
Ҳгәы иҭаршәу ахәыԥшӡаҿ, ҳшеицу ҳнаӡоит!..
***
Ҳааит аамҭала ҳара ара,
Ҳара ҳцаргьы, ҳажәа нхароуп…
Зынӡа иааигәамхар ҳаҽҳәара,
Ҳазҭаху зегь ргәы ҳрыԥхароуп!..
Ажәа мчамазар ара,
Уи ҳабжьара ицҳахароуп…
Иара зыԥсахша, ацымхәра
Аныҟам, амреиԥш иԥхалароуп…
Ара ҳазиааиша рацәаӡоуп,
Уалны ирԥымларц уаҵә игыло…
Иԥшаауп, акызаҵәык иахьӡоуп,
Ишиашоу инагоуп амҩа ҳазқәыло…
***
Уи аиаша сара сшашьҭаз шьҭа сааԥсоит,
Сахьӡоит шысҳәо, инасымпыҵҵәрааны
исыцәцоит…
Зны иԥхашьоушәа, зны ишәоушәа, зны
иҳәацәоит,
Уазааигәахар, зынӡа аҽуреиԥш аҽарххацәоит…
Изауеи нас, уи аиаша тәымуаҩра,
Иаҭаху амбоу, ма иацәтәыму зегь ара?!
Ацҳақәа зегь наҟ ихыхны аӡы иагахьоу,
Ҳара ҳҟынӡа изымааиуа идыршәахьоу?!
Уажә иабаҟоу, уажә изызымбои, сҵааӡом,
Ари адунеи ду излакәшари, иҭбааӡоуп…
Ма сахьӡароуп, ма исыхьӡароуп мышкы зны,
Саџьал иацны имааиуазар аҽӡаны!..
***
Ах, иарбану иҿыхаз сгәаҵа рхьухьууа,
Исцәыбналаз саԥшаама еиҭа?!
Аҭыԥ ианхалаз ала рыцҳаиԥш сууа,
Гәырҩала ишҭәыз са слакҭа,
Аҟама аҿеиԥш шәахәахаак цырцыруа,
Сыхшҩ аҭра иҭыцо, исҿаԥхоит!..
Ахаангьы сшахамышҭуа, ишсыцу сырдыруа,
Сыргәырӷьаны, нас сҭанархоит!..
***
Акрыздыруаз шьоук рҵыхәан уи ддыртәеит,
Акыраамҭа уи дрыԥшыхәуан, нас дырҵеит…
Ихы шьҭихыр, жәак иҳәаҵәҟьаргьы рмуӡеит,
Данрымпыҵԥраагь, хара дцаанӡа инаихьӡеит…
Иԥсы анига, нас ианиҵақәа хәыҷык,
Уи дышьҭнаԥааит, ахы данархәарц даҽа мчык…
Уажә дазымкуа, дагьрызҭамкуа дҟалеит иҭра,
Ара иаԥшәымоу сара соуп ҳәа даҿуп аҿыҭра!..
Уажәшьҭа уишьҭаз, зегь зхароу, зегь ҟазҵаз,
Ҳа ҳаԥсыҽрагь, ҳара ҳаӷәӷәарагь зҵаз,
Иатәаҳамбоз, инагаӡамыз зегь раҵкыс,
Ҳахаиршәуеит иахьа ианиҭаху инацәкьыс!..
***
Уи хьаас аӡә длымам, аҩыза бзиа, ма аҭахы,
Арахь илдыруазҭгьы иубаргәыз лымч зықәхо…
Иахьынӡашьҭылхуа, дахьынӡаҩахо уи лхы,
Знык дзынаӡар, нас уазхәыц лара дзакәхо!..
***
Лхы ахькыду здыруа аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам,
Уи деиқәыгызмалха маӡала дҭәуп!..
Лара илҳәаз сазхәыцуа снеиуеит аҩныҟа,
Еилыскаау, исзеилымкаау, уи Анцәа итәуп!..
Зны-зынла сгәырӷьоит уи исҭахыз лҳәазшәа,
Аха ԥыҭрак ашьҭахь, избоит, зегь мцуп…
Сыгә рыцҳа сажьазаап, уи сылгәаԥхазшәа,
Иахьакәым, иацакәым, иасымшагь иаҿуп…
Лхы ахькыду здыруа дызбаргьы дсымбаргьы,
Еилкаауп, урҭ аиаша са сҟынҵәҟьа ирӡоит…
Шьҭа сықәраҿ иснаалом амыцхә сҽырбаргьы,
Акызаҵәык исылшо, есымша схы зжьоит!..
***
Ҳаҟәыҵып, ҳаҟәыҵып, ба ибҳәаз, са исҳәаз,
Шьҭа дыршьагьы ҳзаҭом ҳҩыџьагь ҳгәы иҭаз…
Акызаҵәык исыбҭартә ибымоу ҽыԥныҳәас,
Сзымныҟәеит усҟан сара ишсыхәҭаз…
Уи аамҭа абаҟоу зынӡак иаҳзынкылом,
Уажәшьҭа иҳацәцагәышьеит, игәхьааго
ҳамтәап…
Издыруеит, ба ибеиӷьу уажәшьҭа аӡә дысԥылом,
Убриак сара сажәраҿгьы ихааӡа сарԥхалап!..
***
Ҳамҩа нымҵәаӡацт, макьана ихароуп,
Ҳкәыкәыцыкәуа ҳазҿу зегьы нхароуп…
Шьоук ааҟәымҵӡакәа аԥара дырҳауеит,
Аха ахьыӡ, урҭ рымԥан иқәлом, ирҳауеит!..
Нас аҵыхәтәан, ианеилдыршәшәалак инхо,
Шьоук ирыхәо, шьоук рзыҳәан ицҳахо…
Амал баша, уи акәараҷҷагь иагоит,
Ҳа ҳазҿыз, шьоук баагәаран ирзынхоит!..
***
Амшгьы шьыжьаахыс алахь еиқәызҵеи,
Схәыцуеит уажәы-уажә сахьтәоу…
Сцарц сахьыҟаз, исыхьи, нас, сзымцеи,
Уаҳа сзахьымӡеит сгәы иҭоу…
Сазыӡҩруеит бжьык са сахь амҩа иқәу,
Уигь уаҳа са сҟынӡа имааӡеит…
Издыруада илцәыӡзар уи лыччаԥшь
лқьышә иқәу,
Ҳанеиԥыла иахьа дмыччаӡеит…
***
Сызхьымӡац сзахьӡома, сахьӡома, сахьӡома,
Зынӡа ихараӡома схықәкы?..
Ԥсаатәҵас инықәԥраан уи сыцәцаӡома,
Ма исԥырҵзар ус ҳамҭакы?..
Са сыда изхәарҭои, иахьцоу акрадыруоу,
Аҵәаҟьеиԥш ишьҭнаԥаап аӡы…
Уи нырцә инхазар, исылшару, сзыруоу,
Усцәымӡын схықәкы – са скәылӡы!..
***
«Уажә иҳалшои, ҳара акымзарак акагьы,
Иаашәычҳароуп, наҟ аӡыхәашьқәа ҭыкәкәап…»
Угәы иаанагап, акы иаԥсам урҭ рхазгьы,
Ирылысхи, наҟ схы ахьынахо сцап!..
Аха унаҵааҵаар, ара ассирқәа уаҳауеит,
Уара иуарҳәо акәӡам иҟоу мшәан, зынӡа!
Урҭ аԥшыжәлеиԥш, аҳәиҵәҳәа аԥара рҟьауеит,
Дара ртәқәа ирызхаша, цыра-цыра иԥхьаӡа!..
***
Уи дыхьшәашәаӡа днасԥырҵит,
Слымбаӡацшәа зынӡа уахада…
Уи зегь башоуп, баша илхәыцит,
Зынӡа аӡә дылбаӡом лхада…
Ус дабанӡацо, сыздыруам,
Дахамшәало лхы мацара!..
Лара лышҟа аӡәгьы дзыруам,
Зынӡа илырҳракт лыҩаӡара!..
Саргьы дысхасыршҭп, данысԥырҵлак,
Аха баша ла лхы лражәуеит!..
Аамҭа аӡырҩаш еиԥш ианхыҵлак,
Уи лыԥшӡарагь нахәланаршәуеит!..
***
Урҭ хәыҷы-хәыҷла инасыхо,
Уаҩ илаԥш сыҵамшәартә снаскьаргеит…
Слымҳа иҭаҩуеит дара шыҽхәо.
«Ихьӡ изышьҭымхҵәҟьауа ҳалгеит!..»
Са сызҭахыз уаҟагь сгәарҭан,
Ирымукәа сымцахә дмырцәеит…
Саӷацәагьы ирбан сышшәарҭаз,
Амаҭ икҿарцалаз еиԥш, еизыҵәеит!..
Анцәа уибоит узҭахым душаҭар,
Илаԥш ухызаауеит, иуцрыҵуам..
Абзеира уны аӡы иузаҭар,
Идырҟьаларгьы, зынӡа ирзырӡуам!..
***
Арбаӷьқәа ианааиларԥсо, ӡынраказ шьыжьык,
Шәарҭарак цәырҵуеит, сызгаша…
Сгәы инықәыҩуеит ԥшьаала срыцҳашьо бжьык:
– Уи итәы егьыҟам, шьҭа башоуп!..
Иаансыжьыр акәхоит сџьабаа зегь зду,
Ихьшәашәаӡа тышак ҳабжьалоит…
Қыҭоу қалақьу наӡаӡаз сызтәу,
Цқьа аилкаара цәгьоуп урҭ рыбжьала…
Саагылазар Аҟәа иқәын сыԥсы,
Сшьап аарла уажәоуп иансыргылаз…
Ҿысҭыр сҭахуп, сшәымган абааԥсы,
Сгәыӷрақәа аброуп иахьԥхьарылаз!..
Аха башоуп, араҟа сыбжьы раҳауам,
Ажәжәаҳәа иаҿуп урҭ сырҽеира!..
Иџьынџьахь даагароуп, еимаркуеит, ируам,
Иџьасшьоит абриаҟара ргәаҭеира!..
Убасҟан аӷьеҩҳәа даарылҵуеит аӡәы: –
Уаҳа уи жәоуп ҳәа ишәымҳәароуп!..
Даагылазар дахаршәын иҵарӡоу аҵәы,
Ма уажәшьҭа ҭынчрак ибароуп!..
Уи акәхеит, мчык саман ицеит икаууа,
Абар, зынӡа сықәнаҟьеит сшьара…
Иҿшәаз абӷьеиԥш, сыԥсы ҵыс-ҵысуа,
Ибжьоуп, амци аҵабырги рыбжьара!..
***
Шьҭа зегь рцәеилаԥсеит дара,
Аиашеи амци еилаҩынтит…
Иҟам ыҟоушәа аҳәара,
Урҭ раԥхьаҟа рымҩа азхымтит…
Шьҭа аамҭа изаԥхнҩлом ара,
Урҭ ааныжьӡаны ираԥысит…
Убри ишамоугьы аҽҳәара,
Дара ахьнеиша изахымсит…
Шьҭа ирцәыӡит рыгәра згоз,
Адгьыл ԥшьаала ирыҵааҟәрылоит…
Урҭ ирыхьуаз зегьы збоз,
Рцәа ианырызшәа иааҭгылоит…
Цқьа ирзымшазаап рхәы,
Шьҭа шә-уадаҩрак нарыԥгылеит…
Амц еибырҳәацәан мыцхәы,
Уи аӡытҟәеиԥш илагылеит!..
***
Уи лқьышә хәыҷқәа ҭырчааны,
Лгәаара лзымҵәахуа даасԥылеит…
Ас ҟалҵомызт уажәааны,
Саргьы изуа сақәымшәо сааҭгылеит…
Мшәан, уи дссирха дааӡаны,
Дсызҭо лангьы исаналыжьуам!..
Уи лқьышә хәыҷқәа ҭыгәӡааны,
Суадахь днамгакәа дсызныжьуам!..
***
Урҭ сцәаныррақәа еиҭаҿыхеит, ируӡом,
Исахәыҭхәыҭуеит, цқьа сырзымӡҩркәа
срышьҭӡом!..
Сара мчыла исхасрышҭхьаззегь сзааргеит,
Санырмыхәа,сышәзыӡыҩруеит, сҳәан,
саатәеит!..
Аха игәасҭеит, урҭ са сзыӡыҩррагь рҭахӡам,
Дара ирҭахугь, шьҭа са сзы зынӡа имаӡам!..
Сыҽсзынкылом, амитә сақәшәеит схаҭагьы,
Ахьҭа иареиџьуа, амцахь дшҩуа еиԥш, еиҳагьы!..
***
Ианбатәиу, ианбатәиу, шьҭа акыр ҵуеит,
Иныбжьаршәшәа, уи аԥҳәызба лахь сыԥшуеит!..
Ларгьы сылаԥш дабылуазаап, дырҳауеит,
Лгәы бжьажьоушәа, арахь илӡоушәа, саҳауеит!..
Ианбатәиу, ианбатәиу, крызхыҵуа мцак,
Исыкәша-сыкәшо, исыцралаӡеит иахьак!..
Аԥша иазмырцәа, аӡы иазмырцәа, са сҿы иааит,
Сабылгәышьааит, сабылгәышьааит,
уажәшьҭа исиааит!..
***
Уи ииҳәоз баша агәра ргон,
Урҭ ирзымдырт игәы иҭаз…
Аамҭагь ԥшьаала иқәҳа ицон,
Уаҳа ирԥымлеит дара ирыхәҭаз…
…Аамҭа аҵысхәеиԥш иласӡа,
Ицон иазхьамԥшӡакәа рԥеиԥш..
Инхеит уи иажәақәа ҵәыԥсӡа,
Мцак зыцрамлаӡо амҿеиԥш!..
ССИРӠАК ДАМОУП АРИ АХЫҚӘАҾ!..
Ссирӡак днеиуеит, илыхьӡода,
Дџьаршьан, зегь ршьапқәа ирыхгылоуп!..
Зажәа, зылаԥш уа инаӡода,
Аамҭа ыршанхан иаанкылоуп…
Аӡәгьы имам ԥсыԥ еиҩгахак,
Аҵәгәырқәа реиԥш, рылаԥш дыршәит!
Рааигәа дмааиит уахык, ҩаха,
Иналыдтәалан каҳуак рзымжәит!..
Ари ԥсшьароума,изықәшәазеи,
Зегь лҩычеит уи гәырҩала!..
Амузыкаҵәҟьагь лгәы ахзыршәазеи,
Уаҩ ма дхихуан кәашарала!..
Лара иџьалшьо амшын заҵәыкоуп,
Ма даԥхныҩлоит аԥша хага!..
Даахьаԥшӡаргьы, уи нас, зныкоуп,
Аха иҟалҵои шаҟа ԥырхага!..
Ссирӡак дамоуп ари ахықәаҿ,
Аха лааигәа аӡәгьы дналышьҭуам!..
Ахацәа хьаҵуеит рыхқәа рыкәаҽ,
Ацәқәырԥқәа ирызныжьны лара лышьҭа!..
СГӘЫРҨА
Уца наҟ, усԥырҵны,иахьак са сгәырҩа,
Сумбазшәа, ак хәыцны, наҟ улақәа хҩа!..
Цқьа сеигәырӷьап амра, иааԥшит ихааӡа,
Снарыцныҟәап сҩызцәа,игәхьаазгоз уаанӡа…
Уца наҟ, узсышьҭеи, иԥшаа даҽа мҩак,
Зынӡаҵәҟьа иумуӡозаргь, схы соужь иахьак!..
Агәырӷьашьагь схоурышҭит, сыччаԥшьгьы
уӡеит,
Сгәысҽанӡамкәа сымҩақәа ркышьаҵәҟьа
уҵеит!..
Са исыман аԥсҭазаара, аха исумырбеит,
Аҵыхәа снахьырԥшны иаразнак иугеит…
Уца наҟ, шьҭа сыла уахьамбо џьара,
Ҳаидажәлар, иуцәыцәгьахоит сааныжьны
аԥсра!..
***
Уажәшьҭа ишԥааимымҟьари аԥҭа,
Амра аҽаҵәахӡома џьымхеит!..
Схьаақәагь сԥырҵып иахьак сгәамҭа,
Сырфеит, сырфаҵәҟьеит, сагьырзымхеит!..
Иԥшӡоуп аԥсҭазаара шьоук рзыҳәан,
Аҵәеиԥш, иуаркалеиуа ирҿаԥхоит!..
Урҭ дырԥырҵт Анцәа дрықәныҳәан,
Сара уи ацәаара сызирхоит…
Иҟалап уи аԥҭа еимымҟьаӡаргьы,
Шәахәак мааӡаргьы сара сҟны…
Знык сызхьыԥшыз салаӡаргьы,
Убри сызхаргьы шьҭа разҟны…
***
Акгьы саргәырӷьом уажә саазқәылаз,
Исԥырҵит амрагь сгәы иҭаԥхоз…
Иԥҵәеит уи ацҳагь саазықәгылаз,
Исҿаччеит сгәыӷрақәа анҭахоз…
Абас мацара ицома саамҭа,
Ианузеи, сзаԥхьом слахьынҵа?!
Сгәысҽанӡамкәа саџьал маанда,
Исҭахыз зегь ак ҟамҵа…
Ех, ус сгәы иахьамуа сцәажәоит,
Зегь идыруеит, зегь зыӡбо!..
Ихьанҭоуп сызнылаз амҩа, сашәоит,
Адунеи аӡлагареиԥш ианлаго!..
***
Дабаҟоу иац издыруаз, исҩызаз, сызцыз,
Ихашҭит ҳа ҳҩызара,ихашҭит ҳазҿыз…
Иҳамазар еицаҳфон ҳҩыџьагь ҿаҵак,
Иҳагыз ҳанмырԥшит, ҳамхьаҵит зынӡак…
Ахә шәауа уадак ҳаԥсы ҩнаҟәыкын,
Иаашаанӡа ҳцәашьы кәаҩӡа иакын…
Иаадыруан иаҳусыз, иаадыруан ҳзышьҭаз,
Ахаан иагҳмыжьцызт џьара иахьҳахәҭаз…
Иагьаџьара ҳкыднаҟьаргьы аамҭа ихьанҭоу,
Ҳанеицыз иаадыруан аӷба ҳашҭоу…
Иџьаҳшьон,иагьхьаагон усҟан цәгьаӡа,
Ашәҟәқәа ирнуи аԥсҭазаареи еиқәшәомзт
зынӡа!..
Уажә урҭ зегь ааџьоушьартә ҳабжьара иааҳәыхт,
Ҭыԥ дук наирҭан,сҩыза дыбжьырхт!..
Иац избац дабаҟоу, зынӡак дкәараҵеит,
Амал ауп ириааиуа зегьы ҳәа иԥхьаӡеит…
Сазхәыцуеит, ианбанҵәеи ҳҩызара абас,
Ма иҟаӡамзу, ҳажьозу зынӡас?..
Ушьапқәаҵәҟьа иргәалашәо, адәҳәыԥш
зыгәра уго,
Излаухугои, аӡыхәашь хәыҷы-хәыҷ ианаго!..
***
Уи хьаас имоуп ҳа ҳбызшәала иахьымцәажәо,
Уаҵә игыло ҳәа ҳзықәгәыӷуа ҳара ҳҿар…
Уаргьы еилукаауеит, иуцәтәымым
уи дзыргәжәажәо,
Аха ишԥаҟоу, иара иҩныҵәҟьа унаӡар?!
Уаҟа аԥсшәа ашә ныдҵаны идәылҵны
ицеижьҭеи
Ианбатәиу, уашьҭалеит ҳәа шьҭа иубаӡом…
Аҩн иазгәакьоу ус шәахәахаак иамрыԥхеижьҭеи,
Ԥшаашьагь амам,зынӡа аҽаҵәахт, ихынҳәӡом!..
Ус анакәха, мчыла изхьааигои иара иҩны иҟам,
Баша аҽраԥшраз абарбарра ҳагахьеит…
Иҽалахалан дҽырбагәышьоит иара адәныҟа,
Аха иҩны – аԥсшәа аӷьеҩҳәа ашә акхьеит…
***
Иԥшӡан ацәажәашьа зҵаз игәра умган!
Уи уара, иԥшӡаны уижьауеит!
Уи уара, гаӡаҵас уишьауеит,
Уи дыбзиамызт, ахаангьы дхәымган…
Ииҳәо дақәымшәоз аҭахызар зынӡа,
Ауаҩ изы абзиа еснагь згәы иҭоу,
Уи идыруеит иуаҭәоу, иухәҭоу,
Уара акыр улшозар, убри изыҳәан уахьӡа…
Шьҭа узжьаша, узҟаҭәаша уржьахьеит,
Шьҭа узҭахугьы уа узы ажәа рҳәахьеит…
Нас, уизымҭиуа, уизаамхәауа аӡәгьы,
Шьҭа уҟәышха, иҟалозар ухаҭагьы!
***
Зегьы сырхашҭны стәоуп абра,
Аԥсҭазаара цәқәырԥоит сахьыҟам…
Изгоит са сҩызцәагьы рыгәра,
Ицәгьоу сызрыдкылом исзыҟам…
Абра еиқәуп са схәышҭаара,
Мышкызны скәиц џьара иакырцаз..
Аӡәы сигәалашәар сара,
Убригь сызхоит зынӡа смыԥсырцаз!..
***
Ицәгьаз зегь ҳхаагахьеит ҳара,
Ҳазымхәаҽт амҟәылгьы, ҳаиааит…
Аха шәарҭак ԥшуп нахьхьи, хара,
Уажәы-уашьҭан, ҳаӷәӷәамхар иааип…
Ҩ-мчык рымҵәыжәҩа дуқәа рҟьеит,
Аха макьана ҳашәхымс изхыҵуам…
Аду – аурҭ еиԥш иҳахҟьеит,
Амаҷ – ахы хьымӡӷшьо, иаҳԥырҵуам…
***
Насыԥ дук дашьҭамызт иара,
Ибжьы мыргакәа ԥшьаала дааиуан…
Шьоукы идрааигәарц иҽҳәара,
Аԥсык аарыгхеит, урҭ ииааиуан…
Аӡәгьы димбацызт дыхжәаны,
Ицәа иалсаанӡа рхы иахәашт…
…Убасҟан ичҳара ԥжәаны,
Аӡӷьеиԥш ирыҵалан, иагьахәаҽт!..
УАХЫК ҲАҨНЫ АӠЫХӘАШЬ...
Уахык ҳаҩны аӡыхәашь ҩналт ицәқәырԥо,
Шьҭа мчыҟам, иудыруаз, аҳәоушәа иунԥо…
Схы ахьызгара смоуа ианысҟьон аҭӡамц,
Иабаҟоу аиаша, иаиааима зынӡа амц?!
Ирылшози ашәқәа, иҟьаҟьаӡа иаатит,
Ашәымҭак, сҩны ҳәынҵәала иарҭәит…
Са соуп ҳәа имақаруан, ухырҵәаны узго,
Сашҭа зегь иқәлеит аӡыхәашь газго…
Снапала еиҭасҳаз ашәырқәа хыжәжәон,
Ҳла рыцҳақәа акьыжыҳәа иҵәыуон, ишәон…
Ахы аалмыҳәҳәо иӡсон ҳақаблагьы,
Абыӷьқәа реиԥш иӡааҟәрылон уа ҳакәтқәагьы…
Иа Анцәа ду уаҳхылаԥш, ҳрыцҳан ҳҟаумҵан,
Уажәы-уажә дматанеиуан уа ахәыҷқәа ран…
Ҵаҟа иҟаз зегь еижәылан хыхь ианцауа,
Ирҳәо саҳахьан ауп, уажә сақәшәеит ара!..
Уа ҳәашьас иасҭои са сыла иабаз,
Аӡы, амаҭ еиԥш, ашшыҳәа ицәажәон иахьҩназ…
Зегь шьҭыхны иагон, оумаҵәҟьан изҿыз,
Ҳаҩны маҭәа рыцҳа, ҳаԥхӡаша зегь здыз…
…Уи аҵых ҳҟәыбаса иаҳхысны ианца,
Зынӡаҵәҟьа иҷышәымзаап, ҳҳәеит, ҳлахьынҵа!..
Ҳашҭаҿ аӡыхәашь аԥсы ахьашьоз иианы,
Аԥсуа лабашьеиԥш иарсын ҳаҩны!..
***
Ҳазшаз иоуп издыруа, уи иоуп изыӡбо,
Мышкызны ҳахьнеиуа, иараӡәк иоуп избо…
Ҳацҳа маакырадоу, ма иӷәӷәаҟацоу,
Ахра ҳаҿалоу, ахланҵ ахь ҳцоу…
Дзырҩашьоу аҩысҭаак дҟаларгьы ҟалоит,
Аха убригь днаиқәныҳәан, днаиԥырҵны
дцалоит…
Ҳазшаз зегь бзиа ҳаибоит ҳаиҟраны,
Уи илаԥш зыдхалаз, дирҽхәом иҿаҟны!..
Насыԥ дук ыҟоуп,арахь уа иубаӡом,
Иҭынчуп, ахаан уи абжьы уаҳаӡом…
Зыжәлар рзыҳәан ара абзиа зылшаз,
Ижәдыруаз, џьанаҭ-цҳа изхиҵоит ҳазшаз!..
***
Нахьхьи џьара бхала бҭынчӡа быкҿаршәуп,
Ацхыбжьон биоит…
Ахаангьы бысхамышҭӡацт, сгәаҵаҿы бҭаршәуп,
Маӡа бысгәырҩоит…
Мышкызны саныҟам сашәақәа ирыԥхьо,
Ибоит сышбылуаз…
Аӡӷабцәа ссирқәа сцәаҳәақәа ззыскхьо,
Зегь акоуп, са сҿы иааӡеит!..
***
Еиҭах аԥсҭазаара сажьеит,
Иснарбаз зегь иашаз џьысшьеит…
Анапы ахьақәнакыз снаӡеит,
Ишысҭахымыз сымыч ԥысшәеит…
Еиҭах уи алу ду гьежьуеит,
Иара аангылашам ахаан…
Стәар, арыц еиԥш сарҟьыцуеит,
Сцар, исышьҭалоит игәаан!..
УИ АБЖЬЫ…
Уи абжьы сара ҭынч сартәаӡом,
Сыцәа аԥсымҭаз, цхыбжьонла исхалоит…
Исҭаххеит ҳәа џьаргьы сзацәцаӡом,
Аха зны-зынла сышьҭа сырҟьалоит!..
Зных ашәымҭак, схала саанхоит,
Бзиа избон, анкьа ус сгәы аҭахәыцра…
Иӡны иҟаз, шәахәак сгәы иааҭаԥхоит,
Аха исыздыруам, убригь шаҟа ахыҵра…
Зны ԥсҭҳәақәак сара сыжәҩан ҵырҟьоит,
Тымитышахь исыхоит сыргарцаз…
Уа бахәаԥшьи цаҟьаԥшьи срынҟьоит,
Уаҳа ахаан лахтыра сымбарцаз…
Зных уи ацҳа агәҭа сшықәу ихжәауеит,
Сышьҭыԥаан идәықәлоит ӡ-хышхыҵәак…
Сааԥсауеит, сааԥсауеит, сыхәжәауеит,
Аха сыӡхыҵуеит, гәыӷрак насҩыҵрак…
Зных исышьҭоуп, зны ицоит исаԥызан,
Санацәыӡлак, зегьы ирызҵаауеит…
Уи абжьы, ԥша-ҵәыҵәык исзаҩызан,
Наҟ быжьрабжьҵәантә икылкәраан иаауеит!..
***
Уаҳа сеилылкаар лҭахым уи аԥҳәызба,
Уаҳа деилыскаар сҭахӡам шьҭа саргьы…
Уажәыгь исгәалашәоит уи раԥхьа данызба,
Ихаакәакәараӡа лыччаԥшь сҿаԥхоит иахьагьы!..
Аха уи уажә исцәылӡоит, уаҳа ислырбашам,
Иҭаршәны илҵәахызар ҟалап ҽаӡә изы!..
Са сзыҳәан дыччашам, са сзыҳәан дҽырбашам,
Даццәырҵшам амза уи хәылԥазы…
Шаҟантә сужьахьоузеи, сгәы, са схәыҷушәа,
Уаҳа сузхәыцны схыҵуам ашәхымс!..
Лацәааихьшь ҟамҵакәа есымша дысзыԥшушәа,
Ахааназ дысцәыӡуашәа сгәырҩа санзахымс…
Уи зегь еижьаган, ишызбоз слыԥсахит,
Ацаԥхеиԥш лҽахалыршәит ҽаӡә инацәкьыс!..
Убриҵәҟьагь лбааздарц, исымбарц уҭаххахит,
Мап, сыҟамзар еиӷьуп, уи збаҵәҟьар аҵкыс!..
Ҳанеибабоу иааибаҳҳәоит: – Ушԥаҟоу, бышԥаҟоу,
Ҳабзиабара, ҳаизгәыкра абаҟаху иаҳԥырҵт…
Уи, анкьа сеилазгоз лыччаԥшь хаа абаҟоу,
Абнаршәыра иагаз амҩахәасҭеиԥш, исцәыӡт…
***
Ари амшгьы сԥырҵт иԥхашьа-ԥхаҵо
ашьшьыҳәа,
Ахаангьы ҳаиԥылашам уажәшьҭа…
Уи аасгәалашәалар, схы иасҭалап ҽыԥныҳәа,
Аҽааиҭанакып иаразнак слакҭа…
Ари амш сԥырҵт, зынӡак акгьы ҳзеилымхкәа,
Схы здыскылогь дсымам, сзаҵәуп…
Сыԥсҭазаара исзаламгалт уаҳа «арҽеирақәа»
Гәы зызҭам арасеиԥш, сҭацәуп…
***
Иаци иахьеи рыбжьара исымбозар уԥсҭазаара,
Иузхымҵазар цҳак…
Уахӡыӡо, унапы аларԥан, иукуп уара умазара,
Уацәшәом аӡә иҳақ…
Уҟан, ухы азыҳәан,аӡәы изыҳәан шьаҿакгьы,
Уимыхәт, иҟаумҵеит…
Ашәыр ҵла уаҩызоуп, ҵәак зҿамлац зынӡакгьы,
Ушгылаз уканӡеит!..
***
Ус лаԥшыла зегь еибаҳҳәеит,
Акгьы аанҳмыжьит ҳагәқәа ирҭаз…
Аха ҳцәаныррақәа зегь ҿаҳҳәеит,
«Шәхы шәымҩахан, уаҟа шәтәаз!..»
Ас иахьакәым, ас уаҵә акәым,
Ицоит ҳаԥсҭазаара ԥырны,
Иац иџьаҳшьоз, ҳазлаз лакәын,
Иахьа ҳусқәа зегь бырны,
Исҭахым сахҭыгәлар сықәра сҭысны,
Насыԥк ацәаара сымбаӡо,
Лабжыш цырак бӡамҩа иаҿысны,
Быхәда ҵҟәашаа ианахьӡо…
***
Аҵх, узҭынчуи? Исымчуи, исымчуи,
Анкьеиԥш схы усызҭарԥаӡом!..
Ас ианшәарҭоу сбызшәеи сџьынџьи,
Зынӡа ухьанҭыџьуп, усзырҵысӡом…
Аҵх, кагь соумҳәан, ичҳагәышьа,
Иҵәахы, ухьаақәа уӷрагәа…
Лашьцарак салԥшны хара аԥшышьа
Сырҵа, ус схәыҵаумшьын ааигәа…
Хыхь еҵәаџьаа еилаарцыруеит,
Сеидру, иахьрылоу сара стәы…
Аҵх, изсоумҳәои, зегь удыруеит,
Сахьӡоу, сахьымӡауоу сгәахәтәы?!
***
Быччаԥшьгьы уаҳа сахыбааӡом сара,
Ибхашҭит зынӡак сгәы аԥжәашьа!..
Аха усгьы зны-зынла ибылшоит сбылра,
Сҳәыҵәы-ҳәыҵәуеит, сақәшәом ацашьа…
Исхашҭхьоу абзиабара аарла ихынҳәуеит,
Сгәаҿ ҭыԥ хәыҷык шамоу адыруеит…
Зны ашоура сҭанаршәуеит, зныхгьы слаҳәуеит,
Зны аӡы иӡааршәлоу ахьеиԥш, ицырцыруеит!..
Уи алаԥш схьмӡозҭгьы, сыҽсырӡуан зынӡа,
Аха сычҳарагь сзақәгәыӷуам даарак…
Уи ак ауп исымоу, ибасҳәоит имӡа,
Аарла ҳәа сахьзырԥшуа аԥсҭазаара ацәаарак…
***
Исычҳаит, исымҳәеит, изжәагәеит сара схьаа,
Уаргь уи акәын уззыԥшыз, уеихеит…
Аха иудыруаз аҩыза, даҽа знык санургәаа,
Угәы уҭаччо узцом, уҭахеит!..
Са исымоуп ҟазшьак, уара иудыруеит, сахыԥом,
Иара еилазгаз ахааназ дсаӷоуп!..
Иаҭаххаргьы сшәаӡом, ицәгьарахаргьы
сгәы ҭыԥом,
Амала ауаҩыраз – сара дысҭынхоуп!..
***
Анцәа ду, суҳәоит, хьымӡӷ сумырган,
Аҵашьыцҩи агәыԥхҭи зынӡа исумырбан…
Шаҟантә иҟарҵахьоузеи са сзы шьапҿаршә,
Шаҟантә ирҭаххахьозеи ашьаршьаф насҿаршә
Ицарц, нас, уаҳа ахаангьы срымбарц,
Ҳхаҵкы дҳашьҭыҵәҟьеит ҳәа шьоук
рҿы иҽхәарц!..
Анцәа ду, суҳәоит, хьымӡӷ сумырган,
Ауҩы хәымга, дықәумгалан са сган…
Сыла даԥырга ламыск џьара измаӡам,
Срыцҳашьа, дысҟәыга, баҩхатәрак злаӡам…
Аџьабаа сацәшәом, иахьахәлаанӡагь сцәаӷәоит,
Урҭ уаҳа исԥумыжьлан, уажәшьҭа исызхоит!..
***
Лгәы иаҭаху сзымдырт сара,
Лхәыцрқәа уаҳа имзаӡеит…
Днахеит зынӡак ҳаҽҳәара,
Асабшақәа акыр лыԥхьаӡеит!..
Са сыччаԥшьгьы мчыла иҵәахуа,
Уи днасыртәан агәра лсыргеит: –
Ҳанасыԥ аӷәра аҿарххуа,
Ҳзаҿузеи, амҽыша ҭацәхеит!..
Ишызбоз дааихаччеит лара,
Гәырӷьа лабжышкгьы лыҿшәоит…
Ҳнап акәыршан ҳтәоуп ҳаҽҳәара,
Амҽыша аӡәы иаҳцәигар ҳәа ҳшәоит!
***
Дсазҵааит са сҩыза, аиаша ааигәахама ҳәа,
Алакҭа ҳазҭаԥшрыма ҳәа шьҭа…
Изеибакуеи ажәлар, абасҵәҟьа маха-маха,
Имааир ҳәа ишәома руахҭа?!
Иасҳәоз са сҩыза, ихараҵәҟьоуп ҳәа сзымҳәеит,
Иааигәаҵәҟьангьы игылан избом…
Аиаша еиԥынкылан аџьықәреи еиԥш
изхымҳәеит,
Макьанаҵәҟьа аҳауа агәра азгом!..
***
– Маҷк иаасаӡар – ацҳа сықәлоит,
Маҷк иаасаӡар – аӡгьы сыруеит!..
Маҷк иаасаӡар – ашьха скыдлоит,
Уахь уназго амҩа здыруеит!..
–Маҷк иаасаӡар – хыла дҭасҵоит,
Маҷк иаасаӡар – адунеи данысхуеит!
Ахаан дызхьамҳәуа анышә даҿасҵоит,
Лашара изымбо ибла ҭысхуеит!..
Абас ишеишьҭоу ауаҩи аԥсцәаҳаи,
Ҵа змам хықәк аҿы еицнеиуеит…
Рыуа дарбан уахь иҭаҳауа,
Убризаҵәык – иаргәаҭеиуеит!..
***
Уи иуирдырӡом ахаан акала,
Игәы иалоу, ма дзеигәырӷьо…
Рҿаҿы иреиҳәаӡом ажәала,
Аха ирацәаҩӡоуп зцәа зхиххьо…
Иара рыцҳагь убас дыхьшәашәоуп,
Илаԥш ҵаа уарқыџьқыџьуеит…
Дышуаҩсуа зынӡа уимбазшәоуп,
Деиҵалоит, ҩысҭааҵас деиџьыԥуеит!..
Уи ахаан агәырӷьа иҽеиҭом,
Гәырҩоуп иблақәа ирыхтәалоу…
Ибаны даанхом ауаа ҽеиқәа,
Дгәырӷьоит – адамра ианҭало…
Иԥсы ҭоуп, изҭоугьы издыруам,
Маӷҵас ауаа рыбла дхыршәлоуп…
Ишу дабылуам, ихьшәашәоу иныруам,
Адунеи ҭакар баша дцәыршәлоуп…
***
Еиҭах лыччаԥшь насҿаԥхеит,
Шьҭа аахәлаанӡа сгәаҭеилоит!..
Еиҭах слышьҭаларц сеихеит,
Лҩны дсықәшәаанӡа снеилоит!..
…Еиҭах сзеигәыӷуаз зегьы мцуп,
Ҽаӡә дҭалыршәхьеит лгәаҵа…
Зынӡак иааицрымшәауа еицуп,
Аха снеиуеит, избаз хамҵа…
Еиҭах, ла лыччаԥшь сажьеит,
Ари анасыԥгьы цеит исхыԥраан…
Уи лгәы са сзыҳәан имаатӡеит,
Ус саргәыбзыӷт, ашә хәыҷ сзывҵраан!..
***
Мап, сзацәымцеит лара лылаԥш,
Аа, уи сахәаҽуеит еиҭа!..
Аха нас, ҽаӡә иахь данынаԥш,
Цәгьашәа илырлашеит ллакҭа!..
Шьҭа уазхәыцла ҳауа дарбан,
Даҵаҽырбан зыхьӡ лыҿшәо!..
Ма иҭалыртәо лгәы-хаа днаган,
Ма лхәыжәҵәы гачамк зықәшәо!..
Нас, уи лылаԥш ҳзацәцаӡаргьы,
Лымца ҳзалҵуама уажәшьҭа!..
Егьаурым мшәан, ҳалбылӡаргьы,
Былрахәшәми лыччаԥшь ахаҭа!..
***
Дуӡӡак ҳашьҭаӡам ҳара,
Ҳадгьыл ҳамазааит ҳаԥшәыман…
Ҳбызшәа ықәыҩлааит абра,
Дҟамлааит аԥсуа ара дарыман…
Дуӡӡак заҳҭахуи ара?!
Ҳаԥсадгьыл хәыҷ ҳалаӡозар!..
Ахаан имыцәартә ҳхәышҭаара,
Ҳҵеицәа рзыҳәан иаҳзеиқәырхозар…
***
Игәы иҭаз изҩызҭгьы,
Ажәеинраала зиизҭгьы,
Усҟан аҩра иалагаз,
Апоетцәа рахь дыршьон!..
Ихатәроу шәҟәыҩҩк ибазҭгьы,
Уи маҷк изырҽхәазҭгьы,
Хымԥада иаргь усҟан,
Дпоетҵәҟьоу џьишьон!..
Игәы иҭаз изымҩит,
Ажәеинраала зымиит,
Апоетцәа рыгәҭаҵәҟьа,
Днаган дызлауртәои?!
Идырбома бла хаак,
Ирызҳәома жәа хаак!..
Нас иҩныҟа ԥшьаала,
Днықәланы дымцои!..
***
Ииасыма баша саамҭа,
Аӡәыр ихәома сзыхьӡаз?..
Сзышьҭаз ус дук аҿ снаӡаанӡа,
Сымҩа ику, сшьаҿа зыԥхьаӡаз?!
Гәыӷрак ыҟоуп, аарла иҿымцәац,
Инасыцрыхоит, зынӡа сартәом…
Иҟалап сахьӡаргьы уи сызхьымӡац,
Иҟалап, макьана ацәаара збом…
***
Хәыҷы-хәыҷла иҿыцәаауеит ҳамца,
Егьбыгӡам бсыцәтәымуаҩхарц шьҭа…
Ех, са сгәыԥжәага, сҳәатәхамҵа,
Изысцәыбӡои есымша блакҭа?!.
Егьараан сыбхабршҭырц бҭаххаргьы,
Бхы ахьынахо бсыцәцаргьы хаха…
Са исымоуп, шьҭа исылшоит ибсырбаргьы,
Бгәы аҷараҳәа иаазыртуа ацаԥха!..
***
Зынӡа, о, зынӡаҵәҟьа еиԥшӡам,
Ҳзықәдыргәыӷзи, иаҳзааргази аамҭа,
Егьа маҭәа ашәырҵаргьы иԥшӡам,
Шьоук баша иԥшын, – Уажәшьҭа иаанда!
Еиҭах ахықә ҳазааигәахеит ҳара,
Еиҭах уи аҵа тымитыша ҳхықәгылеит…
Ех, агәырӷьаха ҳмаӡеит ҳазхара,
Ҳаџьал гәықәха аҽырмашьцан иаҳԥылеит…
Мшәан абас ҳазԥишәауеи ҳазшаз,
Заа изхихуеи, ҳназықәгылаз ацҳа?..
Шьҭа иаҭахызар, уи ахьӡгьы ахьыршаз,
Уи агәырҩа ԥнаҵәарц егьагым ҳгәаҵӷа…
Ҳаззыԥшыз дунеи ссирк наскьацәеит,
Уаҵә игылоу сеидрума ирԥеиԥшу?..
Чмазара бааԥск ҳажәлар арҳәацәеит,
Аԥсҭазаареи аԥсреи зегь анырзеиԥшу…
***
Гәыкала дсацәажәоз џьысшьон лара,
Усҟан ҽаӡә иакәын дзызхәыцуаз…
Зынӡакгьы илзымгәаӷьит сыхьӡ аҳәара,
Лҩызцәарҿ иԥхалшьон исхыҵуаз!..
Ус ауп аԥсҭазаара, ихәмаруа уажьоит,
Уаргь уи агәра ган уашьҭоуп укәаруа!..
Ақәыԥшцәа уанрылоу, уҿаҵәҟьоу џьушьоит,
Уқәрагь шанхоит – уаныхәмаруа!..
***
Сымшқәа исарҳәои, инасԥырҵуеит иццакуа,
Уажәшьҭа сҿазҳәои, уажәшьҭа исымои
сзызгәыкуа?!
Са сашәақәа, саадырццакын сҿахәы сҳәеит,
Урҭ сдацқәагьы, иахьынӡасылшоз исрыӷәӷәеит…
Сыԥсадгьылгьы, уажәшьҭа шәарҭа ӷәӷәак
иацәцеит,
Сбызшәа – шьабсҭоуп, ас ду илсит, имыԥсӡеит!..
Ҳлахьынҵа акәзар, ус иаҳқәашьуп, ирыххоуп,
Аха сыжәлар, ҳҵеицәа ршьала еиқәырхоуп…
Амшын ихыршәлоу анышь хәыҷ
сеиԥхыӡуеит сара,
Уажәшьҭа сазхәыцуеит зынӡа иҭынчу аҟәара!..
Гәыбӷан сымам, исылшоз амеигымӡеит ара,
Нас иахарои, ацәқәырԥа ианалымшо
ацәқәырԥара?!
***
Уаҳа схынҳәӡом ҳәа сылԥырҵит,
Мчылаҵәҟьа лгәаҵа слыцәҭыҵит,
Абзеираз ҳәа ласҳәоит уажәшьҭа!..
Аха уажә еиҭах ҽак лхәыцит,
Алашьцара лҽалак дымҩахыҵит,
Ихаакәакәараӡа иччеит ллакҭа!..
Сгәалақәа сԥырҵит ишызбоз,
Сышьҭырԥааит, сеидру сахьыргоз,
Схы сзҩнакуазма аҩны!..
Уаҳа сыхнымҳәкәа, сабацоз,
Сгәара сахымлар, сабацәоз,
Саақәгылеит сҿыцӡа сины!..
***
Џьара иаангылатәуп уажәшьҭа,
Џьара иргылатәуп акәаԥ
Уи ҳзазыхынҳәуам еиҭа,
Ҳаздәықәлауам ахықә ҳҽаҭ…
Аха ируҵәҟьауам шьоукы,
Аӷәра рымпыҵшәар ҳәа ишәауеит…
«Шәнапқәа ҭаршәҵәҟьан ишәкы!»
Маҵуарқәак рҵыхәа дрышәшәауеит!..
Арахь хықәуп, ҳаӷеиҭа,
Анахь ҿҟьарроуп, уаҿаԥсуеит…
Ҳаи, ицәгьамхандаз ҳуахҭа,
Гәырҩа еиқәаҵәак ҳҭанасуеит…
***
Урҭ аиаша нарымпыҵҟьан,
Зымҩа ибрит…
Уажәшьҭа сеидру рыгәҭакыҵәҟьа,
Знык иблит…
Шьҭа ахәахәагь роур ишьҭырхуеит,
Ианццакуа…
Урҭ рҿаԥхьа баша шәхырхәоит,
Агаӡақәа!..
***
Анкьатәи ҳхаҳрышҭып, анкьатәи ԥсит,
Ҵааҵас ихьшәашәеит ҳцәанырра…
Сгәы бзымхыҭхыҭуеижьҭеи абар акыр ҵит,
Иаиааиуеижьҭеи анбатәиу сыхдырра…
Ус ҳаибабаргьы, егьҟамлазшәа ҳнеидыҵп,
Анкьа акәын амца анҳацралоз…
Асахьаз ибҭахызар ус акы ҳхәыцп,
Иџьаҳшьозшәа ҳабла зыдхалоз!..
Кәиц хәыҷык ыҟоуп амца зыцроу,
Аха уи ҳагәқәа рыҵаҿ иубарҭам…
Сеидрума абзиабара иаԥшшәу, изеиԥшроу,
Уи уажәшьҭа сықәраҿ ишәарҭам!..
***
Иҟан ҳәаак, иахьынгылатәыз ара,
Уаҟа инҵәон ҳара ҳаизгәыкра аҽҳәара,
Уаҳа иаҳгомызт ҳара ажәақәа рыгәра,
Ҳацәшәон рзыԥшра…
Иаадыруан заа, уи шаҳцәыцәгьахоз убра,
Аха иаҳзымгәаӷьт зынӡа ажәакгьы аҳәара,
Аԥша ианарцәа, ԥшьаала иаҟәыҵыз абылра, –
Цәашьқәоуп ҳара!..
***
Уи дыхьшәашәаӡа дысԥылоижьҭеи акыр ҵуеит,
Саргьы сазҵааӡом илыхьыз, лгәы нзырхаз…
Ус ҳнеиԥырҵны акгьы еибымҳәакәа ҳцауеит,
Аха ҳарҭынчум уи ахьаа ҳгәы иҭахаз…
Гәнаҳа сымамшәа, акгьы схарамшәа збауеит,
Исыхьыз сеидру, исыздыруам сара сԥеиԥш…
Уи ҳанааиқәшәо, лылаԥш сҟәыган илгауеит,
Ан леишәацәгьа, лхәыҷ иаб дшилмырбауеиԥш!..
ИԤЫМҴӘАР ҲГӘАХЫ…
Маҷк ауп ирыгу, маҷк иаашәычҳа,
Аранӡа шәанааи, акрыбжьома?!
Амцҳәара иаҟәыҵзар, аиаша дшәырҳа,
Ахәыцҵәҟьа еиҟәзыршәо дрызжьома?!
Кыраамҭа ианықәха амҩа иашәеит,
Аиаша ҭынхадахеит даара…
Акызаҵәык ҳақәым, ҳуалқәа зегь ҳшәеит,
Аха иҳаԥгылахт инымҵәаӡо зҵаарак:
Ҳашьҭахьҟа иааиуа рымҩа зхьанҭои,
Реидара уаҳа изласымхеи?!
Ҳазҿыз анырмыхәа, ҳабацои, ҳазцои,
Ҳаԥсқәаҵәҟьа змырҭәуазеи, иаҳзымхеи?!
Асҵәҟьа жәбахьоума, зегь еибажьоит,
Ацҳақәа хырххьеит рыбжьара…
Аиаша иахаанхаз бзамыҟәҵас дыршьоит,
Амдыр изыруеит ачара!..
Амци аиашеи рҳәаақәа еилагеит,
Дыршьагь узрыҭом, еилаӡҩеит…
Иҟәышцәан ицәажәаз баша игәраагеит,
Ҳагәқәа ҳҟачыхуеит, – имаӡеит!
Урҭ зегьы рыӷбақәа амшынаҿ иӡсоит,
Иӷәӷәоуп, изургозеи рԥырсалқәа!..
Ҳарҭ, еиҭа ҳҿыцӡа, аӡсашьа ҳҵоит,
Шьоук реиҩшараз иҳалырхуеит асалқәа!..
Иабацеи аҟәышқәа, иааԥсама ршьамхы,
Рҭыԥаҿ гьангьашқәак ахылоит!..
Ԥыҭрак иазычҳар, иԥымҵәар ҳгәахы,
Аԥсаатәеиԥш ахшҩгьы ԥхьарылоит!..
***
Излалгәаӷьыз сеидру, са сышҟа дааԥшит,
Лыблақәа исарҳәеит: – Умцароуп!
Иаразнак гәҽанызаарак асеиԥш сҭанасит: –
Уи лҩызцәа машәыршәагь срымбароуп!..
Аҵыхгьы еимыггомызт уи ауха зынӡа,
Иԥхашьаԥхаҵо ашарагь зҩнамлеит!..
Ашьыжь шәахәахаа игәаӷьны ианҳахьӡа,
Ҳӡамҩа агәыӡрашьҭеиԥш ианхалеит!..
***
Ашықәсқәа ҳа иаҳзыԥшуама, ицалашт,
Ҳазҭымҵуа, ҳаԥҭылашьцаак ҳҭалашт…
Иҟан, изыхьӡазгьы рацәоуп, рҳәалашт,
Уи ҳашьҭагь, рзанымхуа ианхалашт…
Игылап аҵеицәагь, ҳазҿыз еиқәзырхо,
Ицәырҵып нас, ҳахьыӡгьы ҭызго!..
Ҳамҩашьахуа иаадыруеит урҭ ауаа закәхо,
Ҳбызшәа ԥшӡа, аӡыхәашь иацәызго…
***
Макьанагь сеиларгоит аӡӷабцәа анцәырҵуа,
Сеидру, урҭ аҩсҭаацәа санырбо изызхәыцуа,
Иԥхашьоушәа ҟаҵо…
Ус снарыдҵуеит саргьы сеиԥхьхәыцуа,
Сҽеиԥштәны амра аԥхарра иаҟәыҵуа,
Ԥшьаала иҭашәо…
Аамҭа иҳабжьалаз омак имԥырӡазаап,
Ҳааигәара иҟан, иаҳԥырҵны имцаӡазаап,
Амҵәыжәҩақәа збоит!..
Зынӡакгьы схәыҷымзаргь, зынӡакгьы
сажәӡамзаап,
Аӡӷабцәа баша амцаԥшь рыкӡамзаап,
Санырбо иҽырбоит!..
***
Сылԥырҵыр сҭахуижьҭеи, ианбатәиу? Иауамеи,
Акы сҿанаҳәоит…
Ус хыхь-хыхьла ҳнеицәажәалап,иамеи,
Гәаныла исҳәоит…
Аха лыблақәа убас исыхәаԥшуеит скылкаан,
Гәнаҳак ҟасҵар?..
Акы лҳәарцгьы лҭаххеит, аха лыбжьы
анлызҭымкаа,
Лҿыналхеит дцарц…
Шьҭа лԥырҵшьас исымои, самыхәеит, самыхәа,
Сгәы лыцны ицахьеит…
Аанкылашьагь сзаҭом, иахаз аҷапырхәа,
Иабаҟоу, иԥҵәахьеит!..
***
Аамҭа ааины аԥсаатәеиԥш иқәтәеит,
Абар, уаԥхьа…
Ҳҿахәы зузымҳәеи,нас, иуқәшәеи,
Ма иуҩыз уаԥхьа…
Аха иажәа ахыҵәҟьа икаанӡа,
Ицеит инықәԥраа,
Аамҭа алакҭа цқьа дҭаԥшаанӡа,
Иагәамԥхоу иқәра?..
Нас узаԥхнҩлои, уабацо,
Ушьамхы кәадазар?!
Аамҭа ззеилымкаакәа иԥхазҵо,
Ицеит, иуршәазар…
Ҳара иаҳхарои, уи зыцәурӡыз,
Шьҭа иаабашам…
Макьана ицәырымҵааит, иԥхыӡыз,
Зыгәра аагаша…
***
Ҳагә иалоу, ҳгәы ишалоу ҳаԥылароуп аԥсра,
Аха аԥсуаа иҳамоуп ашьанҵеиш анҵра…
Иаҳмырӡроуп ҳа ҳгәыӷра, мышкызны ҳахьӡоит,
Ҳгәы иҭаршәу ахәыԥшӡаҿ, ҳшеицу ҳнаӡоит!..
***
Ҳааит аамҭала ҳара ара,
Ҳара ҳцаргьы, ҳажәа нхароуп…
Зынӡа иааигәамхар ҳаҽҳәара,
Ҳазҭаху зегь ргәы ҳрыԥхароуп!..
Ажәа мчамазар ара,
Уи ҳабжьара ицҳахароуп…
Иара зыԥсахша, ацымхәра
Аныҟам, амреиԥш иԥхалароуп…
Ара ҳазиааиша рацәаӡоуп,
Уалны ирԥымларц уаҵә игыло…
Иԥшаауп, акызаҵәык иахьӡоуп,
Ишиашоу инагоуп амҩа ҳазқәыло…
***
Уи аиаша сара сшашьҭаз шьҭа сааԥсоит,
Сахьӡоит шысҳәо, инасымпыҵҵәрааны
исыцәцоит…
Зны иԥхашьоушәа, зны ишәоушәа, зны
иҳәацәоит,
Уазааигәахар, зынӡа аҽуреиԥш аҽарххацәоит…
Изауеи нас, уи аиаша тәымуаҩра,
Иаҭаху амбоу, ма иацәтәыму зегь ара?!
Ацҳақәа зегь наҟ ихыхны аӡы иагахьоу,
Ҳара ҳҟынӡа изымааиуа идыршәахьоу?!
Уажә иабаҟоу, уажә изызымбои, сҵааӡом,
Ари адунеи ду излакәшари, иҭбааӡоуп…
Ма сахьӡароуп, ма исыхьӡароуп мышкы зны,
Саџьал иацны имааиуазар аҽӡаны!..
***
Ах, иарбану иҿыхаз сгәаҵа рхьухьууа,
Исцәыбналаз саԥшаама еиҭа?!
Аҭыԥ ианхалаз ала рыцҳаиԥш сууа,
Гәырҩала ишҭәыз са слакҭа,
Аҟама аҿеиԥш шәахәахаак цырцыруа,
Сыхшҩ аҭра иҭыцо, исҿаԥхоит!..
Ахаангьы сшахамышҭуа, ишсыцу сырдыруа,
Сыргәырӷьаны, нас сҭанархоит!..
***
Акрыздыруаз шьоук рҵыхәан уи ддыртәеит,
Акыраамҭа уи дрыԥшыхәуан, нас дырҵеит…
Ихы шьҭихыр, жәак иҳәаҵәҟьаргьы рмуӡеит,
Данрымпыҵԥраагь, хара дцаанӡа инаихьӡеит…
Иԥсы анига, нас ианиҵақәа хәыҷык,
Уи дышьҭнаԥааит, ахы данархәарц даҽа мчык…
Уажә дазымкуа, дагьрызҭамкуа дҟалеит иҭра,
Ара иаԥшәымоу сара соуп ҳәа даҿуп аҿыҭра!..
Уажәшьҭа уишьҭаз, зегь зхароу, зегь ҟазҵаз,
Ҳа ҳаԥсыҽрагь, ҳара ҳаӷәӷәарагь зҵаз,
Иатәаҳамбоз, инагаӡамыз зегь раҵкыс,
Ҳахаиршәуеит иахьа ианиҭаху инацәкьыс!..
***
Уи хьаас аӡә длымам, аҩыза бзиа, ма аҭахы,
Арахь илдыруазҭгьы иубаргәыз лымч зықәхо…
Иахьынӡашьҭылхуа, дахьынӡаҩахо уи лхы,
Знык дзынаӡар, нас уазхәыц лара дзакәхо!..
***
Лхы ахькыду здыруа аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам,
Уи деиқәыгызмалха маӡала дҭәуп!..
Лара илҳәаз сазхәыцуа снеиуеит аҩныҟа,
Еилыскаау, исзеилымкаау, уи Анцәа итәуп!..
Зны-зынла сгәырӷьоит уи исҭахыз лҳәазшәа,
Аха ԥыҭрак ашьҭахь, избоит, зегь мцуп…
Сыгә рыцҳа сажьазаап, уи сылгәаԥхазшәа,
Иахьакәым, иацакәым, иасымшагь иаҿуп…
Лхы ахькыду здыруа дызбаргьы дсымбаргьы,
Еилкаауп, урҭ аиаша са сҟынҵәҟьа ирӡоит…
Шьҭа сықәраҿ иснаалом амыцхә сҽырбаргьы,
Акызаҵәык исылшо, есымша схы зжьоит!..
***
Ҳаҟәыҵып, ҳаҟәыҵып, ба ибҳәаз, са исҳәаз,
Шьҭа дыршьагьы ҳзаҭом ҳҩыџьагь ҳгәы иҭаз…
Акызаҵәык исыбҭартә ибымоу ҽыԥныҳәас,
Сзымныҟәеит усҟан сара ишсыхәҭаз…
Уи аамҭа абаҟоу зынӡак иаҳзынкылом,
Уажәшьҭа иҳацәцагәышьеит, игәхьааго
ҳамтәап…
Издыруеит, ба ибеиӷьу уажәшьҭа аӡә дысԥылом,
Убриак сара сажәраҿгьы ихааӡа сарԥхалап!..
***
Ҳамҩа нымҵәаӡацт, макьана ихароуп,
Ҳкәыкәыцыкәуа ҳазҿу зегьы нхароуп…
Шьоук ааҟәымҵӡакәа аԥара дырҳауеит,
Аха ахьыӡ, урҭ рымԥан иқәлом, ирҳауеит!..
Нас аҵыхәтәан, ианеилдыршәшәалак инхо,
Шьоук ирыхәо, шьоук рзыҳәан ицҳахо…
Амал баша, уи акәараҷҷагь иагоит,
Ҳа ҳазҿыз, шьоук баагәаран ирзынхоит!..
***
Амшгьы шьыжьаахыс алахь еиқәызҵеи,
Схәыцуеит уажәы-уажә сахьтәоу…
Сцарц сахьыҟаз, исыхьи, нас, сзымцеи,
Уаҳа сзахьымӡеит сгәы иҭоу…
Сазыӡҩруеит бжьык са сахь амҩа иқәу,
Уигь уаҳа са сҟынӡа имааӡеит…
Издыруада илцәыӡзар уи лыччаԥшь
лқьышә иқәу,
Ҳанеиԥыла иахьа дмыччаӡеит…
***
Сызхьымӡац сзахьӡома, сахьӡома, сахьӡома,
Зынӡа ихараӡома схықәкы?..
Ԥсаатәҵас инықәԥраан уи сыцәцаӡома,
Ма исԥырҵзар ус ҳамҭакы?..
Са сыда изхәарҭои, иахьцоу акрадыруоу,
Аҵәаҟьеиԥш ишьҭнаԥаап аӡы…
Уи нырцә инхазар, исылшару, сзыруоу,
Усцәымӡын схықәкы – са скәылӡы!..
***
«Уажә иҳалшои, ҳара акымзарак акагьы,
Иаашәычҳароуп, наҟ аӡыхәашьқәа ҭыкәкәап…»
Угәы иаанагап, акы иаԥсам урҭ рхазгьы,
Ирылысхи, наҟ схы ахьынахо сцап!..
Аха унаҵааҵаар, ара ассирқәа уаҳауеит,
Уара иуарҳәо акәӡам иҟоу мшәан, зынӡа!
Урҭ аԥшыжәлеиԥш, аҳәиҵәҳәа аԥара рҟьауеит,
Дара ртәқәа ирызхаша, цыра-цыра иԥхьаӡа!..
***
Уи дыхьшәашәаӡа днасԥырҵит,
Слымбаӡацшәа зынӡа уахада…
Уи зегь башоуп, баша илхәыцит,
Зынӡа аӡә дылбаӡом лхада…
Ус дабанӡацо, сыздыруам,
Дахамшәало лхы мацара!..
Лара лышҟа аӡәгьы дзыруам,
Зынӡа илырҳракт лыҩаӡара!..
Саргьы дысхасыршҭп, данысԥырҵлак,
Аха баша ла лхы лражәуеит!..
Аамҭа аӡырҩаш еиԥш ианхыҵлак,
Уи лыԥшӡарагь нахәланаршәуеит!..
***
Урҭ хәыҷы-хәыҷла инасыхо,
Уаҩ илаԥш сыҵамшәартә снаскьаргеит…
Слымҳа иҭаҩуеит дара шыҽхәо.
«Ихьӡ изышьҭымхҵәҟьауа ҳалгеит!..»
Са сызҭахыз уаҟагь сгәарҭан,
Ирымукәа сымцахә дмырцәеит…
Саӷацәагьы ирбан сышшәарҭаз,
Амаҭ икҿарцалаз еиԥш, еизыҵәеит!..
Анцәа уибоит узҭахым душаҭар,
Илаԥш ухызаауеит, иуцрыҵуам..
Абзеира уны аӡы иузаҭар,
Идырҟьаларгьы, зынӡа ирзырӡуам!..
***
Арбаӷьқәа ианааиларԥсо, ӡынраказ шьыжьык,
Шәарҭарак цәырҵуеит, сызгаша…
Сгәы инықәыҩуеит ԥшьаала срыцҳашьо бжьык:
– Уи итәы егьыҟам, шьҭа башоуп!..
Иаансыжьыр акәхоит сџьабаа зегь зду,
Ихьшәашәаӡа тышак ҳабжьалоит…
Қыҭоу қалақьу наӡаӡаз сызтәу,
Цқьа аилкаара цәгьоуп урҭ рыбжьала…
Саагылазар Аҟәа иқәын сыԥсы,
Сшьап аарла уажәоуп иансыргылаз…
Ҿысҭыр сҭахуп, сшәымган абааԥсы,
Сгәыӷрақәа аброуп иахьԥхьарылаз!..
Аха башоуп, араҟа сыбжьы раҳауам,
Ажәжәаҳәа иаҿуп урҭ сырҽеира!..
Иџьынџьахь даагароуп, еимаркуеит, ируам,
Иџьасшьоит абриаҟара ргәаҭеира!..
Убасҟан аӷьеҩҳәа даарылҵуеит аӡәы: –
Уаҳа уи жәоуп ҳәа ишәымҳәароуп!..
Даагылазар дахаршәын иҵарӡоу аҵәы,
Ма уажәшьҭа ҭынчрак ибароуп!..
Уи акәхеит, мчык саман ицеит икаууа,
Абар, зынӡа сықәнаҟьеит сшьара…
Иҿшәаз абӷьеиԥш, сыԥсы ҵыс-ҵысуа,
Ибжьоуп, амци аҵабырги рыбжьара!..
***
Шьҭа зегь рцәеилаԥсеит дара,
Аиашеи амци еилаҩынтит…
Иҟам ыҟоушәа аҳәара,
Урҭ раԥхьаҟа рымҩа азхымтит…
Шьҭа аамҭа изаԥхнҩлом ара,
Урҭ ааныжьӡаны ираԥысит…
Убри ишамоугьы аҽҳәара,
Дара ахьнеиша изахымсит…
Шьҭа ирцәыӡит рыгәра згоз,
Адгьыл ԥшьаала ирыҵааҟәрылоит…
Урҭ ирыхьуаз зегьы збоз,
Рцәа ианырызшәа иааҭгылоит…
Цқьа ирзымшазаап рхәы,
Шьҭа шә-уадаҩрак нарыԥгылеит…
Амц еибырҳәацәан мыцхәы,
Уи аӡытҟәеиԥш илагылеит!..
***
Уи лқьышә хәыҷқәа ҭырчааны,
Лгәаара лзымҵәахуа даасԥылеит…
Ас ҟалҵомызт уажәааны,
Саргьы изуа сақәымшәо сааҭгылеит…
Мшәан, уи дссирха дааӡаны,
Дсызҭо лангьы исаналыжьуам!..
Уи лқьышә хәыҷқәа ҭыгәӡааны,
Суадахь днамгакәа дсызныжьуам!..
***
Урҭ сцәаныррақәа еиҭаҿыхеит, ируӡом,
Исахәыҭхәыҭуеит, цқьа сырзымӡҩркәа
срышьҭӡом!..
Сара мчыла исхасрышҭхьаззегь сзааргеит,
Санырмыхәа,сышәзыӡыҩруеит, сҳәан,
саатәеит!..
Аха игәасҭеит, урҭ са сзыӡыҩррагь рҭахӡам,
Дара ирҭахугь, шьҭа са сзы зынӡа имаӡам!..
Сыҽсзынкылом, амитә сақәшәеит схаҭагьы,
Ахьҭа иареиџьуа, амцахь дшҩуа еиԥш, еиҳагьы!..
***
Ианбатәиу, ианбатәиу, шьҭа акыр ҵуеит,
Иныбжьаршәшәа, уи аԥҳәызба лахь сыԥшуеит!..
Ларгьы сылаԥш дабылуазаап, дырҳауеит,
Лгәы бжьажьоушәа, арахь илӡоушәа, саҳауеит!..
Ианбатәиу, ианбатәиу, крызхыҵуа мцак,
Исыкәша-сыкәшо, исыцралаӡеит иахьак!..
Аԥша иазмырцәа, аӡы иазмырцәа, са сҿы иааит,
Сабылгәышьааит, сабылгәышьааит,
уажәшьҭа исиааит!..
***
Уи ииҳәоз баша агәра ргон,
Урҭ ирзымдырт игәы иҭаз…
Аамҭагь ԥшьаала иқәҳа ицон,
Уаҳа ирԥымлеит дара ирыхәҭаз…
…Аамҭа аҵысхәеиԥш иласӡа,
Ицон иазхьамԥшӡакәа рԥеиԥш..
Инхеит уи иажәақәа ҵәыԥсӡа,
Мцак зыцрамлаӡо амҿеиԥш!..
ССИРӠАК ДАМОУП АРИ АХЫҚӘАҾ!..
Ссирӡак днеиуеит, илыхьӡода,
Дџьаршьан, зегь ршьапқәа ирыхгылоуп!..
Зажәа, зылаԥш уа инаӡода,
Аамҭа ыршанхан иаанкылоуп…
Аӡәгьы имам ԥсыԥ еиҩгахак,
Аҵәгәырқәа реиԥш, рылаԥш дыршәит!
Рааигәа дмааиит уахык, ҩаха,
Иналыдтәалан каҳуак рзымжәит!..
Ари ԥсшьароума,изықәшәазеи,
Зегь лҩычеит уи гәырҩала!..
Амузыкаҵәҟьагь лгәы ахзыршәазеи,
Уаҩ ма дхихуан кәашарала!..
Лара иџьалшьо амшын заҵәыкоуп,
Ма даԥхныҩлоит аԥша хага!..
Даахьаԥшӡаргьы, уи нас, зныкоуп,
Аха иҟалҵои шаҟа ԥырхага!..
Ссирӡак дамоуп ари ахықәаҿ,
Аха лааигәа аӡәгьы дналышьҭуам!..
Ахацәа хьаҵуеит рыхқәа рыкәаҽ,
Ацәқәырԥқәа ирызныжьны лара лышьҭа!..
СГӘЫРҨА
Уца наҟ, усԥырҵны,иахьак са сгәырҩа,
Сумбазшәа, ак хәыцны, наҟ улақәа хҩа!..
Цқьа сеигәырӷьап амра, иааԥшит ихааӡа,
Снарыцныҟәап сҩызцәа,игәхьаазгоз уаанӡа…
Уца наҟ, узсышьҭеи, иԥшаа даҽа мҩак,
Зынӡаҵәҟьа иумуӡозаргь, схы соужь иахьак!..
Агәырӷьашьагь схоурышҭит, сыччаԥшьгьы
уӡеит,
Сгәысҽанӡамкәа сымҩақәа ркышьаҵәҟьа
уҵеит!..
Са исыман аԥсҭазаара, аха исумырбеит,
Аҵыхәа снахьырԥшны иаразнак иугеит…
Уца наҟ, шьҭа сыла уахьамбо џьара,
Ҳаидажәлар, иуцәыцәгьахоит сааныжьны
аԥсра!..
***
Уажәшьҭа ишԥааимымҟьари аԥҭа,
Амра аҽаҵәахӡома џьымхеит!..
Схьаақәагь сԥырҵып иахьак сгәамҭа,
Сырфеит, сырфаҵәҟьеит, сагьырзымхеит!..
Иԥшӡоуп аԥсҭазаара шьоук рзыҳәан,
Аҵәеиԥш, иуаркалеиуа ирҿаԥхоит!..
Урҭ дырԥырҵт Анцәа дрықәныҳәан,
Сара уи ацәаара сызирхоит…
Иҟалап уи аԥҭа еимымҟьаӡаргьы,
Шәахәак мааӡаргьы сара сҟны…
Знык сызхьыԥшыз салаӡаргьы,
Убри сызхаргьы шьҭа разҟны…
***
Акгьы саргәырӷьом уажә саазқәылаз,
Исԥырҵит амрагь сгәы иҭаԥхоз…
Иԥҵәеит уи ацҳагь саазықәгылаз,
Исҿаччеит сгәыӷрақәа анҭахоз…
Абас мацара ицома саамҭа,
Ианузеи, сзаԥхьом слахьынҵа?!
Сгәысҽанӡамкәа саџьал маанда,
Исҭахыз зегь ак ҟамҵа…
Ех, ус сгәы иахьамуа сцәажәоит,
Зегь идыруеит, зегь зыӡбо!..
Ихьанҭоуп сызнылаз амҩа, сашәоит,
Адунеи аӡлагареиԥш ианлаго!..
***
Дабаҟоу иац издыруаз, исҩызаз, сызцыз,
Ихашҭит ҳа ҳҩызара,ихашҭит ҳазҿыз…
Иҳамазар еицаҳфон ҳҩыџьагь ҿаҵак,
Иҳагыз ҳанмырԥшит, ҳамхьаҵит зынӡак…
Ахә шәауа уадак ҳаԥсы ҩнаҟәыкын,
Иаашаанӡа ҳцәашьы кәаҩӡа иакын…
Иаадыруан иаҳусыз, иаадыруан ҳзышьҭаз,
Ахаан иагҳмыжьцызт џьара иахьҳахәҭаз…
Иагьаџьара ҳкыднаҟьаргьы аамҭа ихьанҭоу,
Ҳанеицыз иаадыруан аӷба ҳашҭоу…
Иџьаҳшьон,иагьхьаагон усҟан цәгьаӡа,
Ашәҟәқәа ирнуи аԥсҭазаареи еиқәшәомзт
зынӡа!..
Уажә урҭ зегь ааџьоушьартә ҳабжьара иааҳәыхт,
Ҭыԥ дук наирҭан,сҩыза дыбжьырхт!..
Иац избац дабаҟоу, зынӡак дкәараҵеит,
Амал ауп ириааиуа зегьы ҳәа иԥхьаӡеит…
Сазхәыцуеит, ианбанҵәеи ҳҩызара абас,
Ма иҟаӡамзу, ҳажьозу зынӡас?..
Ушьапқәаҵәҟьа иргәалашәо, адәҳәыԥш
зыгәра уго,
Излаухугои, аӡыхәашь хәыҷы-хәыҷ ианаго!..
***
Уи хьаас имоуп ҳа ҳбызшәала иахьымцәажәо,
Уаҵә игыло ҳәа ҳзықәгәыӷуа ҳара ҳҿар…
Уаргьы еилукаауеит, иуцәтәымым
уи дзыргәжәажәо,
Аха ишԥаҟоу, иара иҩныҵәҟьа унаӡар?!
Уаҟа аԥсшәа ашә ныдҵаны идәылҵны
ицеижьҭеи
Ианбатәиу, уашьҭалеит ҳәа шьҭа иубаӡом…
Аҩн иазгәакьоу ус шәахәахаак иамрыԥхеижьҭеи,
Ԥшаашьагь амам,зынӡа аҽаҵәахт, ихынҳәӡом!..
Ус анакәха, мчыла изхьааигои иара иҩны иҟам,
Баша аҽраԥшраз абарбарра ҳагахьеит…
Иҽалахалан дҽырбагәышьоит иара адәныҟа,
Аха иҩны – аԥсшәа аӷьеҩҳәа ашә акхьеит…
***
Иԥшӡан ацәажәашьа зҵаз игәра умган!
Уи уара, иԥшӡаны уижьауеит!
Уи уара, гаӡаҵас уишьауеит,
Уи дыбзиамызт, ахаангьы дхәымган…
Ииҳәо дақәымшәоз аҭахызар зынӡа,
Ауаҩ изы абзиа еснагь згәы иҭоу,
Уи идыруеит иуаҭәоу, иухәҭоу,
Уара акыр улшозар, убри изыҳәан уахьӡа…
Шьҭа узжьаша, узҟаҭәаша уржьахьеит,
Шьҭа узҭахугьы уа узы ажәа рҳәахьеит…
Нас, уизымҭиуа, уизаамхәауа аӡәгьы,
Шьҭа уҟәышха, иҟалозар ухаҭагьы!
***
Зегьы сырхашҭны стәоуп абра,
Аԥсҭазаара цәқәырԥоит сахьыҟам…
Изгоит са сҩызцәагьы рыгәра,
Ицәгьоу сызрыдкылом исзыҟам…
Абра еиқәуп са схәышҭаара,
Мышкызны скәиц џьара иакырцаз..
Аӡәы сигәалашәар сара,
Убригь сызхоит зынӡа смыԥсырцаз!..
***
Ицәгьаз зегь ҳхаагахьеит ҳара,
Ҳазымхәаҽт амҟәылгьы, ҳаиааит…
Аха шәарҭак ԥшуп нахьхьи, хара,
Уажәы-уашьҭан, ҳаӷәӷәамхар иааип…
Ҩ-мчык рымҵәыжәҩа дуқәа рҟьеит,
Аха макьана ҳашәхымс изхыҵуам…
Аду – аурҭ еиԥш иҳахҟьеит,
Амаҷ – ахы хьымӡӷшьо, иаҳԥырҵуам…
***
Насыԥ дук дашьҭамызт иара,
Ибжьы мыргакәа ԥшьаала дааиуан…
Шьоукы идрааигәарц иҽҳәара,
Аԥсык аарыгхеит, урҭ ииааиуан…
Аӡәгьы димбацызт дыхжәаны,
Ицәа иалсаанӡа рхы иахәашт…
…Убасҟан ичҳара ԥжәаны,
Аӡӷьеиԥш ирыҵалан, иагьахәаҽт!..
УАХЫК ҲАҨНЫ АӠЫХӘАШЬ...
Уахык ҳаҩны аӡыхәашь ҩналт ицәқәырԥо,
Шьҭа мчыҟам, иудыруаз, аҳәоушәа иунԥо…
Схы ахьызгара смоуа ианысҟьон аҭӡамц,
Иабаҟоу аиаша, иаиааима зынӡа амц?!
Ирылшози ашәқәа, иҟьаҟьаӡа иаатит,
Ашәымҭак, сҩны ҳәынҵәала иарҭәит…
Са соуп ҳәа имақаруан, ухырҵәаны узго,
Сашҭа зегь иқәлеит аӡыхәашь газго…
Снапала еиҭасҳаз ашәырқәа хыжәжәон,
Ҳла рыцҳақәа акьыжыҳәа иҵәыуон, ишәон…
Ахы аалмыҳәҳәо иӡсон ҳақаблагьы,
Абыӷьқәа реиԥш иӡааҟәрылон уа ҳакәтқәагьы…
Иа Анцәа ду уаҳхылаԥш, ҳрыцҳан ҳҟаумҵан,
Уажәы-уажә дматанеиуан уа ахәыҷқәа ран…
Ҵаҟа иҟаз зегь еижәылан хыхь ианцауа,
Ирҳәо саҳахьан ауп, уажә сақәшәеит ара!..
Уа ҳәашьас иасҭои са сыла иабаз,
Аӡы, амаҭ еиԥш, ашшыҳәа ицәажәон иахьҩназ…
Зегь шьҭыхны иагон, оумаҵәҟьан изҿыз,
Ҳаҩны маҭәа рыцҳа, ҳаԥхӡаша зегь здыз…
…Уи аҵых ҳҟәыбаса иаҳхысны ианца,
Зынӡаҵәҟьа иҷышәымзаап, ҳҳәеит, ҳлахьынҵа!..
Ҳашҭаҿ аӡыхәашь аԥсы ахьашьоз иианы,
Аԥсуа лабашьеиԥш иарсын ҳаҩны!..
***
Ҳазшаз иоуп издыруа, уи иоуп изыӡбо,
Мышкызны ҳахьнеиуа, иараӡәк иоуп избо…
Ҳацҳа маакырадоу, ма иӷәӷәаҟацоу,
Ахра ҳаҿалоу, ахланҵ ахь ҳцоу…
Дзырҩашьоу аҩысҭаак дҟаларгьы ҟалоит,
Аха убригь днаиқәныҳәан, днаиԥырҵны
дцалоит…
Ҳазшаз зегь бзиа ҳаибоит ҳаиҟраны,
Уи илаԥш зыдхалаз, дирҽхәом иҿаҟны!..
Насыԥ дук ыҟоуп,арахь уа иубаӡом,
Иҭынчуп, ахаан уи абжьы уаҳаӡом…
Зыжәлар рзыҳәан ара абзиа зылшаз,
Ижәдыруаз, џьанаҭ-цҳа изхиҵоит ҳазшаз!..
***
Нахьхьи џьара бхала бҭынчӡа быкҿаршәуп,
Ацхыбжьон биоит…
Ахаангьы бысхамышҭӡацт, сгәаҵаҿы бҭаршәуп,
Маӡа бысгәырҩоит…
Мышкызны саныҟам сашәақәа ирыԥхьо,
Ибоит сышбылуаз…
Аӡӷабцәа ссирқәа сцәаҳәақәа ззыскхьо,
आपने अबखाज़-अबज़ाअबखाज़-अबज़ा साहित्य में से 1 पाठ पढ़ा है।