LatinJokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.
Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02
Sanojen kokonaismäärä on 3250
Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 2014
0.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa
0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa
0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
шарҧазӡа уҩуан аӡахьы.
Нас – ӡы хьшәашәала
уҿы ӡәӡәала,
уеилыхха,
ашәаҧшьгьы ҿыӡәӡәаа,
уицахатәон уаб шьыжьхьа…
Амлаҕәыр уазымҟаҭәахт иахьа!
Нас – аусқәа,
аусқәа,
аусқәа,
иааумнахаанӡа аҵх – аусқәа!
Идырми: уск ыҟами – уск нҵәар.
Аҧхӡы ықәбахьан шәынтәгьы узқәа,
ианҭалоз аҵх ашьшьыҳәа угәарҧ.
Абас – еснагь.
Абас – есшар.
Исҭахуп са сынасыҧгьы лашар.
Срыцҳашәымшьан,
сшәырҿыха шьыжьы!
Ацәа салахаргьы маҷк шьыжьы,
шәысмеигӡан,
исызшәырга шәыбжьы –
исҭахым саҟаҭәар амлаҕәыр,
исҭахым, мап, иҟьаларц сразҟы!
Аҵх иагәыласҵоит алаҕәым,
цәыблаҟы дышьҭасҵом сара сҟны…
Ара сыҽсырхаҵоит, аха ацәа
гызмалуп, исиааир схәаҽны,
о, шәыҟами сааигәара ахацәа,
амрахь сдәылжәга,
слымҳа санкны! –
Исҭахым
са сус далагарц!
Исҭахым
са сҭыҧҳа дхихырц ҽаӡәы!
Исҭахым
са саҧхьа аӡә днеирц уаҵәы!
АЦӘҚӘЫРҦАРА
Аӡсашьа сыздыруамызт. Стәан Хыҧсҭа ахықәан.
Снапқәа сшьамхы иаҿаршә, схыҧшылон аӡы.
Аӡ-ҕьыра рҽарҭон арҧарцәа.
Агәыҕьра рҿықәын.
Са сызқәа икыдланы илбаауан аҧхӡы.
Еилашуа аӡы,
Ацаҟьа-еҳәа иҭалон,
аҧшӡара-ҟазара зегь цәырнагон Хыҧсҭа.
Ара шьыбжьонла арҧарцәа еизон ҩнаҭала,
арҧарцәа –
изалгаз, изалымгаз змаҭа.
Срыхәаҧшуан, срыхәаҧшуан.
Сагон ашьыцра.
Арҧарцәа ахысуан аӡыжь ду еигәҳәаны.
Ацҳа иқәлар –
ацҳа аҟәыҵуамызт аӡыӡара.
Са сықәтәан ахықәаҿ,
снапала сҿаҳәаны.
Сара аӡсашьа шыздыруаз
ахаҳә еиҧш акәын.
Аха ҽнак –
дарбану сыздыруам изгәаҕьы! –
ацҳаҿынтә дымҵанарсит ҷкәынак аӡҕьы.
Ихәмарит Хыҧсҭа. дышьҭнахит…
Уи сара сакәын.
(Урҭқәа зегьы ашьҭахь Сара сзыҳәан илакәын.)
Акәапеигьы сымамызт.
Снапқәа мчыдан
Аҟәарагьы уамак ала ихаран…
Аха икыдуп иахьагьы сгәыразра ҷыдан
уи сықәла иахь,
хыла сагәыдызҵаз сшәара.
Сҩызцәа,
сшәар иахьагьы маҷк, сааӡыӡар,
Маҷк еиланагар ацәқәырҧарагьы слахаҵ,
насҭхашәа стәар уа, сынасыҧгьы сацәыӡыр,
сгәамҵ-хамҵуа исыҿҟьаргьы:»Шәысҟәаҵ!» –
снышәмыжьын схала! Уаҳа исҭахым схала!
Ахаҳә аиҧш, исҭахым санхаларц аҟәара,
ахаҳә аиҧш, саҵәахырц аҵыҭәа лысхалан.
Мап, исҭахым!
Снышәмыжьын схала ара.
Шәсывымсын аӡәгьы!
Сашәҭ ацәқәырҧа –
шәсыгәҭас!
Сӡааҟәрылап – сҭацәызар,
Саҧсамхар исыхәҭаз.
Дышсыгәҭасыз аиҧш схәыҷра ақәла –
шәсыгәҭас!
АБЫСҬА
Ҳаҟәџьал шәаҳәоит уахак,
Амца еилоуп агәгәаҳәа…
Сбыҧхьан бара арахь, аха
Ибҳәеит «даҽаӡә дга» ҳәа.
Сгәы иҭаскыз рацәан,
Сыҧсҭазаара зегь бысҭон…
Ах, лыбла сылсит сан,
Сан илуеит абысҭа.
Сан аҭаца дылҭахуп,
Дылзыҧшыми сан аҭаца.
Сгәы бара бҿы иҵәахуп,
Даҽаӡә лышҟа са сабацо!
Ҳаҟәџьал ҳәацәоит уахак,
Уахак сан даҿуп абысҭа.
Зегь ҿымҭ илҳәоит, аха
Схы сықәыжь сара ҿысҭуам.
Дысмырҳацт сара аҕак,
Ибҳәандаз, нас, бызусҭоу?!.
Ҳаҟәџьал ҳәацәоит уахак,
Дадхалацәеит сан абысҭа…
АХАҴАРА
Саб игәалашәара иазкны
Ахаҵара – нцәа ҳамҭаӡам,
Ирымшеит ашацәа.
Мап, аӡәгьы иҳәамҭаӡам:
Ухаҵара нҵәап?…
Ирылоуп зегь ахаҵара,
Дҳамам ҳара атәы.
Ииуеит ҽнак ахаҵара,
Аха ииуам иҧсратәы.
Афырхаҵа даныҟамгьы,
Ихаҵара ҧсӡом,
Уи цаны ҩныҟакгьы,
Аҽыҵәах итәаӡом.
Уи зегьы ирзеиҧшуп,
Уи зегьы иртәуп:
Агәкаҳара зҧеиҧшу,
ҧхьаҟа игәатәу –
Зегь иара ирыхоит,
Бираҟҵас ирхагылт.
Зегь иара рыхәоит,
Ифырхаҵаран игылт.
Мап, хаҵарак кылаӡӡом,
Иузкажьуам еизҟьа.
Аха еснагь иазгылаӡам
Ахаҵара абаҟа.
Инхоит уи баҟадагьы,
Баҟа аҭахӡам –
ахаҵара уи адагьы
Иҟоуп иҕәҕәаӡа.
***
Шьҭа иҟамлахьеи алаҳа?
Шьҭа ираамҭами ашәыр?
Алаҳа ақәцәан исаҳаит:
«Нан, ишәмыхьааит машәырк!»
Анҵас ҳанацәа ҳацәшәон,
ныҳәаҧхьыӡ ҳашьҭарҵон шәкы.
Ҳхәыҷра хыхь, амаҵә еимжәо,
иадгьылтәымыз иашьҭан акы.
Ах, иҳаздыруамызт шәара,
ҳдыртәомызт ҭынч ҳагәқәагьы.
Ижәдырп,
шәызҳазар шәара
уа – ирыҧхьоит зегьы
ҳаракырак: ақәцәахь, ақәцәахь!
Зегь ҳамҩа ақәцәахь ицон…
Сароу? Сара –
сара сакәҵәҟьамызт,
слахаҵ еилагар илашьцо,
қәцәык сзымгакәа сылбаар,
сангьы дмыҳәҳәакәа – сылбар…
Уажәгьы ахалара ҳаҿуп,
иахьагьы иҳаҧхьоит ҳаиаҵәа.
Ҳашларгь,
ҳқәыҧшра иахаҿуп,
еснагь ҳалардыруеит ҳауацәа.
Санысит ажаәҩан кәаҳа,
сеилагазар –
усгьы сырбон.
Шьҭа иҟамлахьеи алаҳа,
иҟамлахьеи шьҭа Симон?
***
Ашьха иқәнаҵеит асы.
Сқыҭа иалаҧшуеит асы.
Иҭалар аладара асы,
Мжахәа ихыҵны, иласы,
Хыҧсҭа ирны, хәылҧазык
илалагылоит сқыҭа асы.
Уаанӡа,
уаанӡа уццакы!
Шырҧазнатәгьы умш ҵакы!
Ари адыруеит сқыҭа,
сқыҭа салабжьом сара.
Аӡын, аӡын!
Уаамцакында –
ҳусқәа ирыцлеит раҟара!
Амакәангьы еидарак иаҵоуп,
амакәангьы аҽаҩра иацуп.
Иахьантәарак акалаҭгьы
ҧсшьара имтәацт зынгьы.
Ал иқәнаҵеит аҷҟарапатгьы
иаха ирҿаз аҧҳә зеьы.
Ауалырқәа ҭәын, еихәлаччоит.
(Акәтқәа ҧхьарылт ихәлаз џьшьа,
макьана аусаз ихәлаӡам,
алҩаҵә халоит ихәхәаӡа.)
Абар, арыҧхьгьы лбааит ара,
Еиҵақь иаҵоуп аҧш аца.
Усда дыҟам аӡәгьы ара.
Аџьаҿоуп дахьубо аҧшӡа.
Ашьха иқәнаҵеит асы.
Сқыҭа иалаҧшуеит асы.
Асы ааигәахеит азын,
аамҭа сқыҭа иазхаӡом.
Маҷкгьы итәом.
Итәар – иҧсуашәа.
Асы лбаар –
Аусқәа нҵәошәа.
***
Аџьықәреи иазхтәуп аҟама,
ашьапы шәпа унапы захьӡом.
Аҧхӡы ара баша икаҭәама! –
аџьықәреи ҟамлар ҟалаӡом.
Абар, игылоуп иџарџаруа,
иацәышлоит аҧш ахпапын…
Аанда икыдлеит икәаруа –
ҵаҟа аҟаб иаҭахым.
Аанда ашьаҽит. Иубар акәын
ишаҿу аанда ахәаҽра!
Аха аҟаб иазҳар – аракәа
аманы илеишт асаара.
Амахә иахьынҧашеит ахҵәыр –
ахала иахәом ажьымжәа,
аарла изазоит. Агәҭа хҵәар,
ажьымжәа адгьыл еиҟәнажәап!
Аракә артаҕаӡеит аҟәыдгьы,
акалиа ҿажьуп еихьыссы…
Са суеихырхәоит слаҟәы, дгьылк
зымбацт уеиҧш иахьазы!
Ах, зегь рыла убарақьаҭуп,
сыдгьыл лаша, убарақьаҭ!
Аҧсуа имца ахаангьы икьаҭом –
даҧшәымоуп атәыла џьанаҭ.
АУС
Ахаҳә ицәуан ахаҵа,
ирҷҷон уи ҽыҭ-ҽыҭ.
Ахаҳә ицәуан ахаҵа,
аус иуан уи ҿымҭ.
Амра ҭашәон, аха
игылахуан
ахаҵа иус дшаҿу.
Амза ахышә икылахон,
ихалашо ахаҿы.
Ицон, ицон амшқәа,
ишцоз еиҧш аӡқәа:
инымҵәаӡо,
ихьамҧшкәа,
иреиҧшны аҽқәа –
аҽыҩқәа,
аҽ-ҭоуҕанқәа,
иргәыҵак амаҳмыз.
Инхон арахь аханқәа,
инхон АУС.
Ашышкамсгьы
еидарак иаҵан.
Ан ацәон аҳәыс.
Ахаҳә ирҷҷон ахаҵа,
ихәы аалгон иҧҳәыс.
Нас днатәон нцәаҵас,
Афродита лакәушәа.
Нас днатәон, лшьамхы
лшьал ду лакәырша.
Дтәан дылбаазшәа жәҩанк.
Иуҳәап:хьаа лымаӡам.
Дтәан –
дыҧхамшьои, мшәан ! –
лшьал акәыршан лымаӡа.
Ус амшқәа цон,
ицон-ицон,
амшқәа – ҽқәан.
Арҿиамҭагь цеит,
ашәхымс инхыҵын
ҽнак
Ауаа ирҳәеит: «Ари лакәуп!»
Ауаа ирҳәеит: «Анцәаҧҳәыс!»
Иара идыруан: уи ла лакәын,
иҩны итәоу – иҧҳәыс.
Ицон, ицон амшқәа,
ишцоз еиҧш аӡқәа:
инымҵәаӡо,
ихьамҧшкәа,
иреиҧшны аҽқәа –
аҽыҩқәа,
аҽ-ҭоуҕанқәа,
иргәыҵак амаҳмыз.
Иҧсуан ауаа,
ихәашон аханқәа,
аха аамҭа ари изамысит.
УРЫСТӘЫЛА АМҨАҚӘА
Адәеиужьқәа снеиуеит сыргәылсны,
иқәҟьа иаҿуп ҳдәыҕба ҧхьацара.
Схәыцрақәа, схәыцрақәа! Шәаагыл зны,
ижәбо, аҵааҵла сеихырхәоит сара.
Арҭ адәқәа са Сыҧсадгьыл
арҭгьы са Сыҧсадгьыл иахәҭоуп.
Игеит хррыҳәа ихәда-бжьы сгәыла.
сгәыла еснагь цәыблаҟы диҭоуп.
Аҧенџьыр иахьынҳалоуп са сылаҧш,
адәы еиҵҳәақәа, аҵааҵла еикәаҭәы,
аӡиас абла ҭыџьџьара… Санынаҧш,
Есенин дааиуашәа збеит харантәы.
Издырт: апоет, аамҭа зихьымӡо,
ари адгьыл ауп дызго иахьагьы.
Ашәа рҳәоит абарбалқәа иааҟәымҵӡо,
ах, амҩа игәы ҧнамҵәеит аӡәгьы.
«Угәы уамжьааит!» – игоит. – Мап, улаҧш
сыдгьыл ду аҿацәқәа ирыхьӡом!»
Ҩ-рельск,
аҧсуа ҭыҧҳа лыхцәқәа реиҧш,
саҧхьа ишьқьыруеит, инҵәаӡом.
Адәеиужьқәа снеиуеит сыргәылсны,
иқәҟьа ҳәдәыҕба аҿуп ҧхьацара.
Ах, абарбалқәа, шәаангыл зны,
ара адәыҕба сылбаар ауп сара.
***
Ажәҩан қәдыршәуеит еиҭа аҧҭақәа.
Аҧҭақәа ирышьацәхныслоит амза.
Сқыҭа салоуп… Анҷа, угәамҭакәа
шаҟантә сувсхьаз сара,
саҭамзааит!
Схәыҷра уахаануп уара, ахьаца,
сгылоуп схәыцуа абра, умҵан…
Арантә ицеит сымҩа, ихахаӡа
схәыҷра ныжь абра, умҧан.
Ҧхьан еиҧш узаҵәыхуп,
саҭоумҵар,
сузаалоит есуаха, саҧслыш!
Ҧшак: усцәагап, сашәа,
еиҭа умҵарс,
аӡә лҧенџьыргьы
наҟ хара савслашт.
Сышәҧырҵит. Са исыдыз ахарара.
Сгәы, иухьи, уазкуам адунеи?..
Адунеи хаҳфаауам ҳара ара –
насыҧказ ҳақәҧоит,
уеиха, нас, унеи!
Иумбарыз иумазар, сгәы, алақәа,
изеиҧшроу убарын ҳа ҳусқәа,
ишбашамгьы убарын сгәалақәа.
шаҟа иархәозгьы убарын узқәа.
Аха ҳцалап
Агәкаҳара ҳҽамҭакәан.
Ахаҵа – аҧсра игәы иҭамзар! –
дықәҧалар ауп.
Ажәҩан қәдыршәит аҧҭақәа.
Ирылаӡит аҧҭақәа еиҭа амза.
АБРА ДЖУП АПОЕТ
Алықьса Лашәриа
игәаларшәара иазкны
Абра джуп апоет,
Абра ишьоит иҧсы.
Зныкгьы «оҳ» имҳәеит,
Иҧсы ҭанаҵы.
Абра джуп апоет,
Адгьыл агәҭаны,
Дыҟанаҵ, иҟамлеит
Ҽнак иҧсы ишьаны.
Абра джуп апоет,
Насыҧ ду зызшаз.
Абра джуп апоет,
Злахьынҵа лашаз.
Дагеит уи Адгьыл,
Инасыҧ зыҧшааз.
Дагеит уи Адгьыл,
Ихаҭа дзыхшаз.
Дагеит уи Адгьыл,
Уаҳагьы дмааҧсарц.
Дагеит уи Адгьыл,
Уаҳагьы дымҧсырц.
СӠЫХЬ ХӘЫҶЫ
Сӡыхь, уара, сӡыхь,
Илакәуп уҟазшьа.
Ухәыҷуп, аха зных
Уархагоит ушьа.
Удәықәлоит уҭәы,
Ҳәа уҳажәлоит ухыҵ,
Уакәшоит адәы,
Уа џьа умҩахыҵт.
Абҕьыжә уҧсаҟьан,
Уаҿуп ҧхьацара.
Ахаҳәгьы уцҟьан,
Укнаҳауп џьара.
Уахыҧеит гәамк,
Уҟоуп уласӡа.
Умҩа ааигәам,
Аха, аа, уласӡа,
Уччо, уеилҧхаа
Уаҳҧылоит зегьы…
Ах, сӡыхь, уцаҧха
Суҭар ауп саргьы.
Иумӡан, мап, акгьы,
Исзаарты шә-маӡак:
Санысыр ауп саргьы
Сымҩа сыцқьаӡа!
АЗҴААРА ДУ
Уҧсы шҭаз – мап уцәыркит,
Уҧсы шҭаз – уфҩы цәырҵит,
Иуҳәанда: уабаргари уҧсыр?
Ҭыҧс иарҭари, нас, уҧсы?..
Анышә уарҭар – уи хәаҧашт,
Аӡы уарҭар – аӡы ҭабаашт…
Иуҳәанда: уабаргари уҧсыр?
Ҭыҧс иарҭари, нас, уҧсы?!.
ҬАГАЛАРА
Ажәҩан ахаҿы ҭанаҳәҳәеит шьҭа шьалла.
Амра знык ибжьаӡыр – ицәырҵуам лассы.
Хра дук ақәцә ҧҭақәак азхалоит ҧшьшьала,
нас, ажәҩан еиҟәжәазшәа,
идыдуеит хәылҧазы.
Ҧша хагак назыҵҟьоит ҳалгьы,
машәыршәагь
бҕьыцк азнымхарцаз ал.
Ахәшҭаара иҽҳәаӡуеит амгьалгьы,
ирҧыларц
ацақәа ирҭазгало амал.
Амал ҳәа – иауҭарызеи ҳәашьас!
Игылап, нас ацақәа еикәаҭәы!
Мап, ас аҽаҩра
изҭагалом иаашьаз!
Мап, иаашьақәо ақыҭа иатәым!
Ақыҭаҿ иахьа ҭагалара аҧшәымоуп,
еилнаргоит ишаҭаху еиҧш аҩны.
Изыгәхьаада
аҧсабара иахаму, иашәыму! –
иҟаҵатәуп ауаҩ имҩа
хьыла иқәҵаны,
Игәы ишаҭаху еиҧш
Дыҟазар ауп араҟа!
Абҕьыцқәа леиуеит ашьшьыҳәа асаараҟа.
Зных аҳауаҿ еилагьежьуеит шәынтә.
Ҭагалара гәарлеит. Аҵхгьы лашәын.
Ҭагалара рыҵоуп амҵәышә, акалаҭ.
Сыжәлар иҭаргалоит рҽаҩра барақьаҭ.
Анапы рацәа аҭахуп сқыҭа абыржәы.
Аҵх иакуп асас еихаршәы.
Аҵх лашәы…
О, аҧҭақәа неимҟьеит. Унаҧши,
амза хра инахьынҧашеит.
Уи зегь нахьхьоуп –
иахьҧхьауа сыҧсы,
сқыҭан. Ҭагалара ахьнеиз иласы.
Еикәаҭәы.
Иқәҧсо адгьыл ахьы…
Ара –
асфальт абҕьы каҧсаӡом.
Мап, асфальт иамаӡам абҕьы!
Ақәа!Ақәа!
Аҳаргьқәа! Аҳаргьқәа!
Ҭагалара убаӡом!
АПОЕТ ИРАЗҞЫ
Дыҟан – игәыдырҵон ахаҳәҵәҟьа.
Дыҟан – дадыргон алаба.
Иҟан аҳцәакгьы. Аха аҳҵәҟьа
дагәылсит ашықәсақәа еиҟәырҧа.
Изҳәада: «Ихәеит уи ибҕа?!.»
Изҳәада: «Ишәаҟьеит игәгьы?»
Ацәылашараз абыкь иҧхьан,
қәҧароуп дыҿу иахьагьы.
Еихәламхацт, мап,
зныкгьы иабџьар,
зныкгьы ибламҟьеит уи ихы.
Апоет –
апоетҵәҟьа иакәзар –
мариала ириҭом ихы.
Дыҟан – игәыдырҵон ахаҳәҵәҟьа.
Дыҟанаҵ иларҵон аҵәы.
Уажә иабаҟоу, нас, урҭ аҳцәа,
изгәалашәо дарбан аӡәы?!.
Дыҟоуп изызнымҵәо амҩа,
дыҟоуп изықәӡамыз шьаҽра,
дыҟоуп иззымдырӡоз тәамҩа,
дыҟоуп изқәым зынӡа аҧсра!
АЧЫМАЗАРА
Черный человек
Спать не дает мне всю ночь.
С. Есенин
Уара, апоет, ииз ихьшәазшәа,
уусқәа шҧаҟоу? Уара ушҧаҟоу?
Ихаҭа, асы еиҧш, дыхьшәашәоуп.
Ихаҭа, асы еиҧш, дышкәакәоуп.
Арахь, аҵәы сылеиҵоит,
ҭынч аиарҭа сылаиҵом…
Нас, ииҭахузеи сара сҿы?
Нас, даазгазеи сара сҿы?
Абарҵа игылоуп сара сҽы,
икәадырны сара сҽы:
амҩа сымоуп – ицатәуп,
аус сымоуп – иҟаҵатәуп.
Иарах:
– Уусқәа шҧаҟоу?!.
– Ухаҭа ушҧаҟоу?!.
Сҟамчы ихысҟьап сгәахәуеит.
Сҩахеит…
Аха ааигәаха
аҟырҟырҳәа аччабжь геит,
дгьыли жәҩани еилаӡҩеит…
Дахьымаара дцеит –
дабасҭаху!
Џьаҳным дцеит –
дабасҭаху!
Аха, сишь!..
Еиҭах даауеит.
Ииҭахузеи – еиҭах даауеит;
аҟыгә-ҟыгәҳәа,
аҟыгә-ҟыгәҳәа,
абҩатә лагьан данушәа.
Ибҕа џьыҟәӡа,
ибла ҭҟыҟӡа,
дҿаасҭаха,
зқьы шықәса дырнушәа.
Даауеит –
иеихатә напхазқәа имхаҵа,
дырҭаҧало иеимаақәа –
имхаӡо…
Иҳәозар акәхап:
– Уусқәа шҧаҟоу?
– Ухаҭа ушҧаҟоу?
Аҿаасҭажә, уа уаха змада!
Аҧсра иазымгацт, уҧсра збанда!
Нас сықәгьежьаа скәашарын,
аусқәа сымоуп – иҟасҵарын,
амҩа сымоуп – сыццакрын!..
Аха дааит, дааит! Дааскьааӡеит.
Аа, дысхагылоуп, дымцаӡеит…
Сан, саб имаџьар еиҵабҵар ауп.
дызгаша ахызатә ҭабҵар ауп,
сан, бласы!
Сан, бласы!
Иҳәаанӡа:
– Уусқәа шҧаҟоу?
– Ухаҭа ушҧаҟоу? –
сан, бласы!
АҦСШЬАРА МШЫ
Алик Богус изкны
Амшын акәа иҭаҧсами аҧсыӡқәа,
аӡами аҧсыӡқәа рдунеи.
Аха иамшуп иахьа аҧсыӡкра,
ахацәа амшын ахь инеит.
Ахацәа рзы иахьа
ҧсшьара мшуп.
Аӡәгьы иахьа усура дцом.
Игылоуп ара, амшын иалаҧшуа,
Рыҵәгәырқәа аӡы иалашьшь ицон.
Ицон аҵахь
рыҵәгәырқәа аҵахь –
Иҭыргарц аҧсыӡқәа.
Ицон аҵахь, ицон икаууа.
Мҽышоуп иахьа –
иамшуп аҧсыӡкра.
еизеит амшын аҿы ауаа.
Еизеит ахацәа.
Игылоуп еикәаҕҕа.
Ирӡып нас аҧсыӡ рыҳәсақәа уаха.
Игеит абжьы:
«Уҧшы анахь!Уҧшы анахь !..»
Ҧсыӡ дук нықәҳаит уа аҟәара,
иҧаҭ-ҧаҭуа, еихоит уи амшын ахь,
аха изцом арантә –
аӡы харан.
Оҳо-ҳо! Зны ҿымҭ блала ишәо,
нас жәа мҽыҕқәак мӡакәан, инаҳәаны,
ахацәа наҳәует ишәышәуа,
аха ирзычҳауам – ихынҳәны
иааихуеит: инеиҵых рыҧсыӡақәа,
инахагылан иршәоит аҧсыӡ…
Уи абарбо аҟәара иазынхаз аҧсыӡақәа,
иҧсыз ишыҧсыц.
Амшын аҵа иазцоит аҵәгәырқәа.
Амшын аҵан иҭоуп амлагәырқәа.
Мап, аӡәгьы иахьа аус иуӡом,
ахацәагьы усура ицом.
Нас инеит амшын ахь, амшын ахь,
аа, игылоуп, иҭаҧшуеит амшын…
Аҧсыӡкцәа!
Шәымҧшын уахь, шәымҧшын уахь!
Аҧсыӡқәа ирысҭеит
аҧсшьара мшы.
АҚЫҬАНТӘ СААУЕИТ…
Ақыҭантә саауеит,
сдәықәлеит шьыжьы.
Амра мгылацызт уа,
санықәлоз амҩа.
Сааскьанагеит ҳла,
алымҳацә ахьшьшьы.
Ах, шьыжьтәи ашәаҧшь
ануп уажәгьы сӡамҩа.
Ақыҭантә саауеит
ақыҭа рҧыс,
зқыҭа зыҿҳәароу,
бзиа избо ҳәаада.
Исанын ақыҭа,
исыман абыс,
ас сҟаломызт сара
сқыҭа анапада.
Ақыҭантә саауеит,
адгьыл афҩы схуп,
снаргәыҵа џьаџьоуп,
иҵатәоуп амса.
Смагана кнаҳауп,
сқәаҭана ҵәахуп –
снеира иазҧшуп.
Сымҩа арлашоит амза.
Ақыҭантә саауеит.
Сдәықәлеит шьыжьы.
Ақыҭа рҧыс
сыбзиабара ду саҵоуп.
«Амҩа!» – аҕьеҩҳәа
исмыргашеи сыбжьы.
Ижәбап, исыдхалом уалк,
саргьы схаҵоуп!
АҦХЬАҨ ИАХЬ АМҨАҾЫ
Таиф Аџьба иажәеинраалак атемала
Сара сишьҭан, иара днеиуан,
ишьҭа ихыршәлаҵәҟьан саауан.
Са сеиҳа дшыҩуаз сара издыруан,
насгьы, саҵкьыс уи деиҳан.
Аха сара сишьҭан, сишьҭан,
Сара сишьҭан смааҧсаӡо.
Абар, абар – искит ишьҭа,
абар дахьыҟоу, дызцаӡом!..
«Ма сыҧсыр ауп!..» –
игәы ааиҧсахын,
иҭаҷкәым раҵәан даасҿагылт.
Избоит: аарла иҭоуп иҧсахәа,
аха са сгәы мыждагь аангылт.
– Иуҭахузеи, ааит, узсышьҭеи! –
имч еизиган, уи дыҳәҳәеит.
«Ажәеинраалақәа»
цәырган исҭеит.
«Са споетуп!» – абасгьы сҳәеит,
сымчқәа сылшәшәан,
уа сынкаҳаит,
уаҳа исгәалашәом акгьы.
Суҳәоит, нас: убнамлан уаҳа,
сыҩны сушьҭалом саргьы.
СЫМҨА
Асы леиуеит,
аҵх лашәуп.
Схала снеиуеит,
са саӡәуп.
Сымҩа ҟьҵәыроуп,
зны сзазоит.
Усгь снаӡар ауп,
ҧхьа сеихоит.
Сқыҭа сыҧхьоит,
уи сзыҧшуп.
Сымҩа саҧхьа
сыла иҭәуп.
Ажәҩан лыхәҭоуп,
адгьыл саароуп.
Ицәаакит сыхәда,
аха сцар ауп.
***
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсаӡам, акгьы иаҧсаӡам –
аҟаҿыҳәа сзыцҳаӡом.
Убри азы акәхап,акәхап еснагь, сан,
ахьаақәа рзыҳәан срыцҳаӡам.
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсаӡам, зынӡа, мап, иаҧсам
акгьы – ҩада узалахәном!
Уаҳа избан, убри азы акәхап, бҧа, сан,
еснагь аган дзавахо?!.
Сашшуам, мап, макьанагь сааҧсаӡом,
сеиланамгеит, сан ашьыцрагьы.
Икаҧсаз схаҧыц, усгьы сиеҵә ҭашәаӡом,
илзгоит сымҩа ашыцрагьы.
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсам, акгьы иаҧсам,
ах, исылам, сзыцҳаӡом!
Аха, А нан, ибҳәандаз?.. Избан, нас, сан,
анасыҧаз срыцҳаӡам?!.
***
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
урхыс ашьха, ага, амшын.
Еиҳа ирацәоуп уахьыҟам,
умтәан мышкгьы, умҧшын.
Аха, идыр, баша анеи-ааира
аӡәгьы ихәом, акгьы иаҧсам –
аус дуқәа уриааир ауп,
уиҩызамхан иҧсым-ибзам.
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
еиҳа уахьырҭаху урыхьӡа.
Уҽеибыҭа амҩа ду уанықәла,
шьҭахьҟа ухьамҵын, мап, зынӡа!
Уааҧса, аҧхӡы каҭәа! Усда
ҽнак утәар – ҽнак уҧсын!
Итәаны изызҳа дызусҭа?
Дҟабақымзар, уи дуаҩҧсым.
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
уахьнеилак ушьҭа анҵо,
умтәан, еиҳауп уаныҟам,
ухәҭа нас аӡәгьы иҟаиҵом.
САРА СЫМҨА
Саргьы исымоуп амҩа,
са сызну, схатәы.
Саргьы исхаҧхоит амра,
исчаҧоит сгәахәтәы.
Аҳы, сныҟәап, сныҟәап!
(Исыцлогь рацәаҩны.)
О, сахьцогьы аҩныҟоуп,
сыздәылҵызгьы – сыҩны.
Адунеи сара салхәдам,
еихысҳәалап сшьаҿа:
мҩапак џьара иалздап,
џьара икшап сыхҿа.
Мап, схагам сара, сҟьалам,
мап, сашьҭам ахьӡ-аҧша –
сашьцәеи сареи мҩакала
ҳдәылҵит иахьа анша.
Ах, амҩа, амҩа, амҩа! –
Инымҵәо ныҟәара!..
Аҧша нықәсит сӡамҩа,
аҧша сыгәҭасит сара.
Сдәықәуп, аха сашьҭуам
амал ду аҭыҧ ҧха –
срывагылоуп сашьцәа,
саҳәшьцәа еикәаҧха.
Русқәа саргьы исусуп,
самыхеит малк хазы.
Адгьыл, ҳнапы зхьысуа,
Ибаҳчахоит лассы.
Абџьар иамҳхит ажәа,
ушәаҳәа сҟармаҵыс!
Иарбан, нас, ҳазражәуа,
сцәаҳәагьы мацәысп.
Саргьы исхаҧоит амра,
исчаҧоит сгәахәтәы.
Саргьы исымоуп амҩа,
са сызну, схатәы.
УАРБАН УАРА?
Аҳәса рылаҕырӡ ианабылуаз ахчы,
уахык иаб даницәыргоз ахәыҷы,
анацәа рӡамҩа
рылаҕырӡ анықәбоз,
уарбаныз уара?
Уабаҟаз ухаҭа?
Иҭаркыз урыламзар,
урыламзар иқәҧоз,
узусҭаз?
Иарбан иалухыз агәҭа?
…Урҭ ыҟан еснагь.
Урҭ ыҟан арагьы,
стәыла хәыҷы,
сымшын аҿықәан,
зцәа иҭалоз, иҭыҵуаз,
еснагьгьы
зынасыҧ збоз зхатәы ҿықәаҿ.
Урҭ ыҟан еснагь.
Урҭ ыҟан арагьы,
Аҟәардә ду иахаҵгылаз,
ираҳаны зхы,
Аҟәардә ду иамҵақьақьоз,
иангылан зшьамхы,
Аҟәардә ду дагәаҧхарцаз дызҭиз зашьа,
Аҟәардә ду ахьӡала, дымшәа-дмаашьа,
«аусқәа» ҟазҵоз «аусқәа» еиқәырчаҟәа,
дыҟоуп абра…
Иаба-ба?
Аҟәагь!
Уи днагылоит зны-зынла шәыгәҭан,
мап, жәа-кьакьак иҳәашам ишәыхәҭам:
иҟазшьа иҧсахит, ириашеит «игха»,
иҟәардә ду дылбааит
игәамҧха-игәаҧха.
Аҵәца шьҭихыр –
инаҳәаҧхьыӡ нҵәаӡом.
Изумҳәари:
иеиҧш хаҵак Аҧсны дубаӡом!
иеиҧш иҟәышу Аҧсны дубаӡом!
иеиҧш Аҧсны иаҭаху Аҧсны дубаӡом!
Аха иҟан егьырҭ – злахынҵа цәгьахаз,
хынҳәра зықәӡамкәа «ныҟәара» ицақәаз.
Баҟа зызгылам, аха зынӡа ҧсра зқәым.
37 рзы ижәылаз. Иахьагьы қәҧара згым.
Урҭ рыхьӡала аус ахь суҧхьоит сара;
АХЫРҚЬИАРА УЛШАРУ УАРА?!.
Са сразҟыдам, са сразҟыдам,
сынасыҧаз сашшуа.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
еснагьгьы илашо.
Амҩа сықәуп, амҩа сықәуп,
еихысҳәалоит сшьаҿа.
Ҵыхла сдәықәуп, ҽынла сдәықәуп,
сыжәбарым сшьаҽуа!..
Сажәа сашьҭоуп, сашәа сашьҭоуп,
исыҧшаауеит, ишәымбари!
Дысҧышькласырц игылаз сышьҭахь,
уаҟа дымшьаҽри.
Са сыҩныдам, са сыдәныдам,
сынхауеит с-Аҧсны.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
избалоит снаҧшны.
Еснагь икыдуп, икыдын уи
зқьы-шықәса илашо.
Аӡәы иҭаххар сиеҵә кыдиҧаарц,
дызцарым дкәашо.
Са снасыҧдам, са сразҟыдам,
хәымгарак ҟасҵом.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
шәакьысыр – изуӡом!
АҼЫЖӘЛАРА
Саҕәра аушәыжь, са искыми, сыгәра шәымгаӡои?
Са схәыҷума, схала сҽыжәлеит, нас, схалагьы сымцои!
Сымра гылеит. Сымза гылеит. Сыдгьыл ҧшӡоуп зынӡа.
Сҟамчы сҟьап. Сыбжьы сыргап. Сниасрыма, нас, сыҽӡа?!
Сцар сыхәҭоушәа сгәы иабоит. Уи иаҳәеит: «Унаӡар ауп!»
Иҟалом, мап, сымцар ҟалом. Сышьха ирҳәеит: «Уцар ауп!»
Сымҩа ҧшуп. Сҭыҧҳа дыҧшуп. Итәоуп исызҳәаны.
Сыҵхгьы мшуп. Сымшгьы мшуп. Шәахәала иҭаҳәҳәаны.
Саҕәра аушәыжь. Са искыми, сыгәра шәымгаӡои?!.
Са схәыҷума, схала сҽыжәлеит, нас, схалагьы сымцои!
Сахьцо здыруеит. Сымҩа здыруеит. Ҳаи-ҳаи, шәласы!
Саҕәра аушәыжь, са искыми, шәымшәан сара сзы.
АҬАКҦХЫҚӘРА
Ҳаргьы иҳазшоуп абаррикадақәа,
иҳазҳауеит уи амш азын.
Ҳаргьы иҳазҧшуп џьара ҳ-Монкадақәа,
Ҳжәылар акәхоит шарҧазы.
Ҳара ҳаамҭагь –
ибаша аамҭаӡам,
еибашьроуп:
шә-хык азҧшуп агәахы.
Џьара дгьылкаҿ иахьа ашамҭаз
Ахақәуиҭра адыргеит ахы.
Зехьынџьара имлашацт макьанагьы,
џьара амшгьы, аҵхгәы лашәуп.
Уа ахәура иҭоуп амаганагьы,
маҭәас иҟоугьы – ашәоуп.
Уа иахьа адгьыл гәынқьуазар,
иҳәҳәоит ҽнак: «Шьҭа иазхоз!»
Ҳа ҳабџьарқәагь еснагь ихиазар ауп,
игоит игәыҭшьаагоу sos.
Иахьа Испаниа еиҭаҳәҳәахыр –
интербригадақәа аҭаххоит.
Иахьа Испаниа еиҭаҳәҳәахыр –
еиҭагьы ашьа каҭәатәхоит.
Ҳаргьы иҳазҧшуп ҳа- ҳ-Монкадақәа
мышкы зны ҳхысрақәа идыруазырп!
Ҳаргьы иҳазшоуп абаррикадақәа –
доус иҭыҧ иахьа
иудыруазар ауп!
ИСЫЛШАРУ?..
Икыдҵәан илеиуеит ақәа,
ихыҵны идәықәлеит аҩарқәа.
Мап, уи сара сакәӡам иқәуа,
са сакәӡам абаашахь иҩарго.
Ах, сагьалагом шьҭа ақәра!
Аҧсадгьыл иабаҭаху ажәақәа,
Аҧсадгьыл иаҭахуп ашәақәа,
насгьы махәҿала акрура.
Са снеиуеит амҩақәа еихҵәо,
уал дукгьы сыхәда иқәуп.
Сеимаақәа аӡҧсы рҭаҵәо,
сабацәа, шәыдгьыл
саргьы сықәуп.
Шәылымкаа исҭахым разҟык,
шәылымкаа исҭахым насыҧкгьы,
Шәыҟанаҵ – сыҟоуп шәа шәҟны,
изалшом сҟаларц снасыҧданы.
Нас, илеиуаз, илеиуаз ақәа,
аҭахызар ҭынч ма
икыдҵәаны.
Сашшуам, исырҩеит сеимаақәа,
сыџьнышгьы
сиеихсит
дкыдҵаны.
Снеиуеит ус, амҩақәа еихҵәо,
сахьцогьы здыруеит, сцар ауп!
Аха сгәы ак ҭыхоит сырҳәацәо:
исылшару –
шәгәаҿынӡа снаӡар ауп?!.
«УАШЬҬАН» АЗЫ АЖӘАК
Хҿыхгак ҳамоуп «уашьҭан» ҳәа,
иаҳҳәоит: «Уашьҭан иҟаҳҵап».
Хыхьчагак ҳамоуп «уаҵәы» ҳәа,
ҳгәыҕуеит: уаҵәы ҳахьӡап .
Аха «уашьҭан» иамамзаап ҳәаакгьы,
«уаҵәгьы» иашьҭанеиуеит «уаҵәык».
Иззымдыруада, араҟа исымҳәаргьы,
дыҟам адгьыл иахаану ҳәа аӡәык.
Дыҟам «уашьҭанқәа» зегьы ирхаану,
дыҟам «уаҵәқәа» зегьы ирыхьӡаз.
Арахь «иацы» хнымҳәыцт ахаангьы,
зегьы-зегь нхеит наӡаӡа иахьцаз.
Нас, лаҵан ауп ианкарҧса ажәлагьы,
ҭагалан ауп ианҭаргало аҽаҩра.
Уашьҭаназ икылҧшуеит ажәрагьы,
уашьҭаназ иҧшуп адамра.
«Уаҵәы» ҳәа иҳамоугьы башоуп,
иахьатәи уусқәа иахьа урыхьӡар ауп,
уаҵәтәи ахәҭагьы иахьа иуҧхьаӡар ауп,
«иацы» ашҟа ицар – узахьӡашам.
Нас, «уашьҭан» сшьуеит абра, сажәеинраалаҿ,
нас, «уашьҭан» зжуеит абра, сажәеинраалаҿ,
аусқәа рзын иҟоу «иахьоуп», «уажәоуп»,
зусқәа ириааиз изы ирҳәо ашәоуп.
АҦШЕИ САРЕИ
Аҧша исанаҳәеит сара (иснаргеит уи агәра):
«Аҧҭа касцеит наҟ џьара, аҧҭа ҧхасҵеит наҟ хара,
иҧхап шьҭа ижжаӡа, умра ҧхап шьҭа ихааӡа,
мра шәахәала ичап, мра шәахәала иҳааӡап!
Исыбжьеит ақәа, уацәымшәан уаҳа ақәа,
иҟалап улаҳақәа, шьҭа иҟалап уҳақәа,
икажь унапҭарҧагьы, икажь наҟ ухҭарҧагьы,
уиҧырҵ агә-ҭабаагьы, уиҧырҵ ах-ҭабаагьы!»
Аҧша исанаҳәеит сара (исабжьнагеит ара):
«Унавал аҟәара, у-Ната дума ныҟәара,
иуешуам алақәа, иуҧылап уа арақәа.
Исшьит ақәа, иуҧырхагам уара ақәа.
Шьҭа уцала, уцала – умҩа лас уагалап,
уцала, уцала – уашәабжь амҩан игалап.
уабгьы уа дыҧшлап, уангьы уа дыҧшлап.
Мра шәахәала умш лашап,
мза шәахәала уҵх лашап.
Иҭабуп, аҧша! Ҧҭацкгьы хымызт иахьа анша.
Сгәы шьҭыхуа, еснагь усыцыз уара, аҧша!
ТӘЫЛАК АЛАХЬЫНҴА
Иҟоуп – иҟа
амцқәа ртәыла,
иарбан изџьашьатәу?!
Амцқәеи амҵқәеи рыла
уи атәыла ҭәуп.
Амцқәа ртәылаҿ амцқәа
дәықәуп ус иҳәҳәо.
Амцқәа ртәылаҿ амҵқәагь,
мцымзар, акгьы рҳәом.
Ауаагьы, амҵқәа реиҧш,
идәықәуп игиуа.
Ауаагьы, амцқәа реиҧш,
мцыми ирҳәо уа.
Уа, еснагь игәаҟуа,
мцҳәаҩцәоуп инхо,
Шьаҿацыҧхьаӡа уаҟа
мцуп узаахо.
Мцымзар, акгьы ыҟам,
аиаша рымҳәеит.
Мцымзар, акгьы ыҟам,
аиаша рмаҳацт.
– Аиаша-ба, аиаша? –
Иҧшуеит ишанханы.
– Анаша-ба, анаша?..
Иҳамдыруеи ҵаны!
Инеины аҟаб баа
инақәыркуеит рнацәа.
«Иаҳфеит, – рҳәеит, – акаба,
еиҵамларц ҳамгәацәа».
Дыҟоуп уа кралкгьы,
атәыла деиҳабны.
Имоуп уи малкгьы,
мыцла еибаркны.
Иҟам ашәандыҟәра
инҭеиҵан имал,
иҟам акәыкәымдраҿ
иҵәахит акрал.
Ирыхьчоит иҟарулцәа,
иҟам-ианым…
О, ишынхо-ишынҵуа
жәак иазҳәарым!
Ах, изҿузеи, изҿузеи!
Ишҧаҟоу, ишҧа!..
Аха ҽнак –
изџьашьатәузеи! –
ирыжәлеит ацәқәырҧа.
Ишырҳәоз; «Аҧша!
Аҧша!» – иагеит аӡы.
Иарӡит рыхьӡ-рхыҧша,
дрыҭнымхеит аӡәы.
Иагеит ацәқәырҧа
рымцгьы, рҵагьы.
Иҟазма?..ианба!..
Издырам аӡәгьы!
Аӡәгьы, игәы иалырсны,
исеиҳәон абас.
Игәра сызгом,
дреиуазар
уантә зыҧсы згаз?!.
АИБАШЬРА АШЬҬАХЬ
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацызт,
аҭаҧшрагьы, мап, исҭахым.
Аибашьра адәаҿы сшьа камшӡацт,
дсывнамхит сҩызакгьы ахы.
Исгәалашәоит аибашьра ҧхыӡҵас…
Усҟан қәрала смаҷын сара.
Сан сышьҭалҵон, ирмаҷшәа схы днас,
сыцәарц илымҭа зҵаарак.
Аибашьра сгәалашәон аарла,
уажә исхашҭырц иаҿуп.
…Аҧша ҳааҵраҿ имақарлон,
иарыцәгьон аҵхгьы ахаҿы.
Абжьқәа уахыкгьы
ҳажәҩан дырцәомызт…
Ирҳәон: «Ибналеит арҳәцәа!
Урҭ ҳашьхақәа, мап, изырхыҵуамызт!»
Сан илҳәеит:»Ҳрыцҳаишьеит Анцәа?»
Зегь мҩасит. Ҳашьҭахьҟа инхеит.
Ҿааҳәырада, аибашьрагьы, уцаз!
Аха ҳгәаҿы ахәрақәа нхеит,
урҭ ҳартытуам ҳара цас.
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацт,
аҭаҧшрагьы, мап, исҭахым.
Аҧсреи абзареи срыбжьамҧшыцт,
зныкгьы исыцрамсит ахы.
Аха ара, стәылаҿ, абиҧаракгьы
мҩамсит руал-ҧшьа намгӡа.
Иахьа сеигӡом исылоу шьа кәаракгьы,
сыдгьыл иаҳәар:»Ухәҭа ҟаҵа!»
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацт,
сцәаҳәагьы шәарам израӡо.
Зыҧсадгьыл азы иҧсыз – дҭамхацт,
мап, имшәаз ахы дазгаӡом.
Аха исҭахуп, сымшәа-смырҳакәа,
сымчқәа зегь стәылаҿ ишәҭырц,
сусқәа сшырзықәҧо, изымбакәа,
сыҧхӡы ласыхәлаҵәан сыҧсырц.
***
Ишьҭаҵо адгьыл еиҩырссаны,
инеиуеит ҧхьаҟа ҳацәқәа.
Мап, ҳамиит ҳара уаа ссаны,
зны ҳрыҩназаргьы ақәацәқәа.
Ақәацә умдыруеи изахьӡу?
Ухыҧшымлахьеи
уабацәа рышьҭра?
Аӡәгьы иахьа
ҳшьаҿа дзахьӡом,
иануп ажәҩан
аҧсуаагьы рышьҭа.
Аамҭа акыргьы измақарт,
о, акыргьы иқәсит иӡамҩа,
аха иҳәоит:
– са соуп аҳәынҭқар,
ажәҩан ахьгы
ихазгалаз амҩа…
Ааи, аҳәынҭқар –
иара ихаҭа!
Ааи, ихаҭа –
Адгьылаҿ иаҧшәымоу!
Аха қәылара-рҳәрак
ихы иҭам –
дуаҩуп, дынхаҩуп,
имоу – еицшәымоуп.
Аха аӡә диқәлар, иаҳәа ҭҧааны,
диҧылоит уи, аҧсра ҧхаҵаны,
ибаахоит зны дзыҩназ ақәацәқәа.
Ишьҭеиҵоит адгьыл еиҩырссаны,
аҧсуа дынхоит игәы разны –
еихоит ҧхьаҟа
ааҧсара зқәым ацәқәа.
АМАЦАҦШРА
Амацақәа, амацақәа
исашәҳәа сразҟы!
Иабаццакуа,
иабаццакуа
аҧҭақәа лаҟәы?
Иабыку аҧсыжра?
Ирбада иҧсны?
Иарбан изҽыжәлаз
аҧҭақәа ласны?
Злахьынҵа цәгьахада,
злахьынҵа лашәы?
Дарбан, изцәынхада
абасҟак ашәы?
Ажәҩан ду зегь шәыла
иҭаҳәҳәами зынӡа!
Адгьыл аӡа шәҩыла
иаҳцәагоит ауаа ӡа.
Амацақәа, амацақәа,
ишәымӡан акгьы:
иабаццақәа, иабаццақәа
сымшқәа зегьы!.
Иабаҟоу са иҟасҵаз?
Иабаҟоу са стәы?
Ари адгьылаҿ иҟаз цас
иахьымӡеи ргәахәтәы!
Ма сара сҟьалахама,
сшьапқәа еилаго?
Ма ацәа салахама,
сынасыҧ ӡаны ирго?
Ма амҩан дысҧылама
ӡызлан лыҧҳа?
Ма ажәҩан сангылома,
аеҵәа кәаҳа?..
Амацақәа, амацақәа,
ишәымӡан акгьы:
ианбанӡаку,
ианбанӡаку
Сыркьыҧхьло саргьы?..
Еҳ, амацақәа, амацақәа,
амца нашәхыст!
«ҟәаҩ!» –
ианбанӡакәыз! –
ажәҩан ахь схыст.
ААШЬАҨ «ИЧАРА»
Алаф
Цәаҕәан уи иқәаҭана ҧхасҭан –
идәы цәаҕәаны иқыҭауаа ирҭеит;
рашәан уи иҽага ахәы ҧҵәан –
имхы рашаәны ақыҭауаа ирҭеит;
ҭагалан иуардын ахәда хжәан –
иҽаҩра ҭагалан иқыҭауаа ирҭеит.
уаанӡа ижьгьы рҭаахьан, ирхәахьан,
аҩы аҵхны, иуаларқәагьы дырҭәхьан.
Даҧсуамзи, анаџьалбеит, дыҧхашьеит,
шәааи аҩныҟа ҳәа ибжьы рызиргеит;
«иаашәрыхзар, –
иаҳҿашәҵагәышьа!» – иҳәеит.
Нас – ӡы хьшәашәала
уҿы ӡәӡәала,
уеилыхха,
ашәаҧшьгьы ҿыӡәӡәаа,
уицахатәон уаб шьыжьхьа…
Амлаҕәыр уазымҟаҭәахт иахьа!
Нас – аусқәа,
аусқәа,
аусқәа,
иааумнахаанӡа аҵх – аусқәа!
Идырми: уск ыҟами – уск нҵәар.
Аҧхӡы ықәбахьан шәынтәгьы узқәа,
ианҭалоз аҵх ашьшьыҳәа угәарҧ.
Абас – еснагь.
Абас – есшар.
Исҭахуп са сынасыҧгьы лашар.
Срыцҳашәымшьан,
сшәырҿыха шьыжьы!
Ацәа салахаргьы маҷк шьыжьы,
шәысмеигӡан,
исызшәырга шәыбжьы –
исҭахым саҟаҭәар амлаҕәыр,
исҭахым, мап, иҟьаларц сразҟы!
Аҵх иагәыласҵоит алаҕәым,
цәыблаҟы дышьҭасҵом сара сҟны…
Ара сыҽсырхаҵоит, аха ацәа
гызмалуп, исиааир схәаҽны,
о, шәыҟами сааигәара ахацәа,
амрахь сдәылжәга,
слымҳа санкны! –
Исҭахым
са сус далагарц!
Исҭахым
са сҭыҧҳа дхихырц ҽаӡәы!
Исҭахым
са саҧхьа аӡә днеирц уаҵәы!
АЦӘҚӘЫРҦАРА
Аӡсашьа сыздыруамызт. Стәан Хыҧсҭа ахықәан.
Снапқәа сшьамхы иаҿаршә, схыҧшылон аӡы.
Аӡ-ҕьыра рҽарҭон арҧарцәа.
Агәыҕьра рҿықәын.
Са сызқәа икыдланы илбаауан аҧхӡы.
Еилашуа аӡы,
Ацаҟьа-еҳәа иҭалон,
аҧшӡара-ҟазара зегь цәырнагон Хыҧсҭа.
Ара шьыбжьонла арҧарцәа еизон ҩнаҭала,
арҧарцәа –
изалгаз, изалымгаз змаҭа.
Срыхәаҧшуан, срыхәаҧшуан.
Сагон ашьыцра.
Арҧарцәа ахысуан аӡыжь ду еигәҳәаны.
Ацҳа иқәлар –
ацҳа аҟәыҵуамызт аӡыӡара.
Са сықәтәан ахықәаҿ,
снапала сҿаҳәаны.
Сара аӡсашьа шыздыруаз
ахаҳә еиҧш акәын.
Аха ҽнак –
дарбану сыздыруам изгәаҕьы! –
ацҳаҿынтә дымҵанарсит ҷкәынак аӡҕьы.
Ихәмарит Хыҧсҭа. дышьҭнахит…
Уи сара сакәын.
(Урҭқәа зегьы ашьҭахь Сара сзыҳәан илакәын.)
Акәапеигьы сымамызт.
Снапқәа мчыдан
Аҟәарагьы уамак ала ихаран…
Аха икыдуп иахьагьы сгәыразра ҷыдан
уи сықәла иахь,
хыла сагәыдызҵаз сшәара.
Сҩызцәа,
сшәар иахьагьы маҷк, сааӡыӡар,
Маҷк еиланагар ацәқәырҧарагьы слахаҵ,
насҭхашәа стәар уа, сынасыҧгьы сацәыӡыр,
сгәамҵ-хамҵуа исыҿҟьаргьы:»Шәысҟәаҵ!» –
снышәмыжьын схала! Уаҳа исҭахым схала!
Ахаҳә аиҧш, исҭахым санхаларц аҟәара,
ахаҳә аиҧш, саҵәахырц аҵыҭәа лысхалан.
Мап, исҭахым!
Снышәмыжьын схала ара.
Шәсывымсын аӡәгьы!
Сашәҭ ацәқәырҧа –
шәсыгәҭас!
Сӡааҟәрылап – сҭацәызар,
Саҧсамхар исыхәҭаз.
Дышсыгәҭасыз аиҧш схәыҷра ақәла –
шәсыгәҭас!
АБЫСҬА
Ҳаҟәџьал шәаҳәоит уахак,
Амца еилоуп агәгәаҳәа…
Сбыҧхьан бара арахь, аха
Ибҳәеит «даҽаӡә дга» ҳәа.
Сгәы иҭаскыз рацәан,
Сыҧсҭазаара зегь бысҭон…
Ах, лыбла сылсит сан,
Сан илуеит абысҭа.
Сан аҭаца дылҭахуп,
Дылзыҧшыми сан аҭаца.
Сгәы бара бҿы иҵәахуп,
Даҽаӡә лышҟа са сабацо!
Ҳаҟәџьал ҳәацәоит уахак,
Уахак сан даҿуп абысҭа.
Зегь ҿымҭ илҳәоит, аха
Схы сықәыжь сара ҿысҭуам.
Дысмырҳацт сара аҕак,
Ибҳәандаз, нас, бызусҭоу?!.
Ҳаҟәџьал ҳәацәоит уахак,
Дадхалацәеит сан абысҭа…
АХАҴАРА
Саб игәалашәара иазкны
Ахаҵара – нцәа ҳамҭаӡам,
Ирымшеит ашацәа.
Мап, аӡәгьы иҳәамҭаӡам:
Ухаҵара нҵәап?…
Ирылоуп зегь ахаҵара,
Дҳамам ҳара атәы.
Ииуеит ҽнак ахаҵара,
Аха ииуам иҧсратәы.
Афырхаҵа даныҟамгьы,
Ихаҵара ҧсӡом,
Уи цаны ҩныҟакгьы,
Аҽыҵәах итәаӡом.
Уи зегьы ирзеиҧшуп,
Уи зегьы иртәуп:
Агәкаҳара зҧеиҧшу,
ҧхьаҟа игәатәу –
Зегь иара ирыхоит,
Бираҟҵас ирхагылт.
Зегь иара рыхәоит,
Ифырхаҵаран игылт.
Мап, хаҵарак кылаӡӡом,
Иузкажьуам еизҟьа.
Аха еснагь иазгылаӡам
Ахаҵара абаҟа.
Инхоит уи баҟадагьы,
Баҟа аҭахӡам –
ахаҵара уи адагьы
Иҟоуп иҕәҕәаӡа.
***
Шьҭа иҟамлахьеи алаҳа?
Шьҭа ираамҭами ашәыр?
Алаҳа ақәцәан исаҳаит:
«Нан, ишәмыхьааит машәырк!»
Анҵас ҳанацәа ҳацәшәон,
ныҳәаҧхьыӡ ҳашьҭарҵон шәкы.
Ҳхәыҷра хыхь, амаҵә еимжәо,
иадгьылтәымыз иашьҭан акы.
Ах, иҳаздыруамызт шәара,
ҳдыртәомызт ҭынч ҳагәқәагьы.
Ижәдырп,
шәызҳазар шәара
уа – ирыҧхьоит зегьы
ҳаракырак: ақәцәахь, ақәцәахь!
Зегь ҳамҩа ақәцәахь ицон…
Сароу? Сара –
сара сакәҵәҟьамызт,
слахаҵ еилагар илашьцо,
қәцәык сзымгакәа сылбаар,
сангьы дмыҳәҳәакәа – сылбар…
Уажәгьы ахалара ҳаҿуп,
иахьагьы иҳаҧхьоит ҳаиаҵәа.
Ҳашларгь,
ҳқәыҧшра иахаҿуп,
еснагь ҳалардыруеит ҳауацәа.
Санысит ажаәҩан кәаҳа,
сеилагазар –
усгьы сырбон.
Шьҭа иҟамлахьеи алаҳа,
иҟамлахьеи шьҭа Симон?
***
Ашьха иқәнаҵеит асы.
Сқыҭа иалаҧшуеит асы.
Иҭалар аладара асы,
Мжахәа ихыҵны, иласы,
Хыҧсҭа ирны, хәылҧазык
илалагылоит сқыҭа асы.
Уаанӡа,
уаанӡа уццакы!
Шырҧазнатәгьы умш ҵакы!
Ари адыруеит сқыҭа,
сқыҭа салабжьом сара.
Аӡын, аӡын!
Уаамцакында –
ҳусқәа ирыцлеит раҟара!
Амакәангьы еидарак иаҵоуп,
амакәангьы аҽаҩра иацуп.
Иахьантәарак акалаҭгьы
ҧсшьара имтәацт зынгьы.
Ал иқәнаҵеит аҷҟарапатгьы
иаха ирҿаз аҧҳә зеьы.
Ауалырқәа ҭәын, еихәлаччоит.
(Акәтқәа ҧхьарылт ихәлаз џьшьа,
макьана аусаз ихәлаӡам,
алҩаҵә халоит ихәхәаӡа.)
Абар, арыҧхьгьы лбааит ара,
Еиҵақь иаҵоуп аҧш аца.
Усда дыҟам аӡәгьы ара.
Аџьаҿоуп дахьубо аҧшӡа.
Ашьха иқәнаҵеит асы.
Сқыҭа иалаҧшуеит асы.
Асы ааигәахеит азын,
аамҭа сқыҭа иазхаӡом.
Маҷкгьы итәом.
Итәар – иҧсуашәа.
Асы лбаар –
Аусқәа нҵәошәа.
***
Аџьықәреи иазхтәуп аҟама,
ашьапы шәпа унапы захьӡом.
Аҧхӡы ара баша икаҭәама! –
аџьықәреи ҟамлар ҟалаӡом.
Абар, игылоуп иџарџаруа,
иацәышлоит аҧш ахпапын…
Аанда икыдлеит икәаруа –
ҵаҟа аҟаб иаҭахым.
Аанда ашьаҽит. Иубар акәын
ишаҿу аанда ахәаҽра!
Аха аҟаб иазҳар – аракәа
аманы илеишт асаара.
Амахә иахьынҧашеит ахҵәыр –
ахала иахәом ажьымжәа,
аарла изазоит. Агәҭа хҵәар,
ажьымжәа адгьыл еиҟәнажәап!
Аракә артаҕаӡеит аҟәыдгьы,
акалиа ҿажьуп еихьыссы…
Са суеихырхәоит слаҟәы, дгьылк
зымбацт уеиҧш иахьазы!
Ах, зегь рыла убарақьаҭуп,
сыдгьыл лаша, убарақьаҭ!
Аҧсуа имца ахаангьы икьаҭом –
даҧшәымоуп атәыла џьанаҭ.
АУС
Ахаҳә ицәуан ахаҵа,
ирҷҷон уи ҽыҭ-ҽыҭ.
Ахаҳә ицәуан ахаҵа,
аус иуан уи ҿымҭ.
Амра ҭашәон, аха
игылахуан
ахаҵа иус дшаҿу.
Амза ахышә икылахон,
ихалашо ахаҿы.
Ицон, ицон амшқәа,
ишцоз еиҧш аӡқәа:
инымҵәаӡо,
ихьамҧшкәа,
иреиҧшны аҽқәа –
аҽыҩқәа,
аҽ-ҭоуҕанқәа,
иргәыҵак амаҳмыз.
Инхон арахь аханқәа,
инхон АУС.
Ашышкамсгьы
еидарак иаҵан.
Ан ацәон аҳәыс.
Ахаҳә ирҷҷон ахаҵа,
ихәы аалгон иҧҳәыс.
Нас днатәон нцәаҵас,
Афродита лакәушәа.
Нас днатәон, лшьамхы
лшьал ду лакәырша.
Дтәан дылбаазшәа жәҩанк.
Иуҳәап:хьаа лымаӡам.
Дтәан –
дыҧхамшьои, мшәан ! –
лшьал акәыршан лымаӡа.
Ус амшқәа цон,
ицон-ицон,
амшқәа – ҽқәан.
Арҿиамҭагь цеит,
ашәхымс инхыҵын
ҽнак
Ауаа ирҳәеит: «Ари лакәуп!»
Ауаа ирҳәеит: «Анцәаҧҳәыс!»
Иара идыруан: уи ла лакәын,
иҩны итәоу – иҧҳәыс.
Ицон, ицон амшқәа,
ишцоз еиҧш аӡқәа:
инымҵәаӡо,
ихьамҧшкәа,
иреиҧшны аҽқәа –
аҽыҩқәа,
аҽ-ҭоуҕанқәа,
иргәыҵак амаҳмыз.
Иҧсуан ауаа,
ихәашон аханқәа,
аха аамҭа ари изамысит.
УРЫСТӘЫЛА АМҨАҚӘА
Адәеиужьқәа снеиуеит сыргәылсны,
иқәҟьа иаҿуп ҳдәыҕба ҧхьацара.
Схәыцрақәа, схәыцрақәа! Шәаагыл зны,
ижәбо, аҵааҵла сеихырхәоит сара.
Арҭ адәқәа са Сыҧсадгьыл
арҭгьы са Сыҧсадгьыл иахәҭоуп.
Игеит хррыҳәа ихәда-бжьы сгәыла.
сгәыла еснагь цәыблаҟы диҭоуп.
Аҧенџьыр иахьынҳалоуп са сылаҧш,
адәы еиҵҳәақәа, аҵааҵла еикәаҭәы,
аӡиас абла ҭыџьџьара… Санынаҧш,
Есенин дааиуашәа збеит харантәы.
Издырт: апоет, аамҭа зихьымӡо,
ари адгьыл ауп дызго иахьагьы.
Ашәа рҳәоит абарбалқәа иааҟәымҵӡо,
ах, амҩа игәы ҧнамҵәеит аӡәгьы.
«Угәы уамжьааит!» – игоит. – Мап, улаҧш
сыдгьыл ду аҿацәқәа ирыхьӡом!»
Ҩ-рельск,
аҧсуа ҭыҧҳа лыхцәқәа реиҧш,
саҧхьа ишьқьыруеит, инҵәаӡом.
Адәеиужьқәа снеиуеит сыргәылсны,
иқәҟьа ҳәдәыҕба аҿуп ҧхьацара.
Ах, абарбалқәа, шәаангыл зны,
ара адәыҕба сылбаар ауп сара.
***
Ажәҩан қәдыршәуеит еиҭа аҧҭақәа.
Аҧҭақәа ирышьацәхныслоит амза.
Сқыҭа салоуп… Анҷа, угәамҭакәа
шаҟантә сувсхьаз сара,
саҭамзааит!
Схәыҷра уахаануп уара, ахьаца,
сгылоуп схәыцуа абра, умҵан…
Арантә ицеит сымҩа, ихахаӡа
схәыҷра ныжь абра, умҧан.
Ҧхьан еиҧш узаҵәыхуп,
саҭоумҵар,
сузаалоит есуаха, саҧслыш!
Ҧшак: усцәагап, сашәа,
еиҭа умҵарс,
аӡә лҧенџьыргьы
наҟ хара савслашт.
Сышәҧырҵит. Са исыдыз ахарара.
Сгәы, иухьи, уазкуам адунеи?..
Адунеи хаҳфаауам ҳара ара –
насыҧказ ҳақәҧоит,
уеиха, нас, унеи!
Иумбарыз иумазар, сгәы, алақәа,
изеиҧшроу убарын ҳа ҳусқәа,
ишбашамгьы убарын сгәалақәа.
шаҟа иархәозгьы убарын узқәа.
Аха ҳцалап
Агәкаҳара ҳҽамҭакәан.
Ахаҵа – аҧсра игәы иҭамзар! –
дықәҧалар ауп.
Ажәҩан қәдыршәит аҧҭақәа.
Ирылаӡит аҧҭақәа еиҭа амза.
АБРА ДЖУП АПОЕТ
Алықьса Лашәриа
игәаларшәара иазкны
Абра джуп апоет,
Абра ишьоит иҧсы.
Зныкгьы «оҳ» имҳәеит,
Иҧсы ҭанаҵы.
Абра джуп апоет,
Адгьыл агәҭаны,
Дыҟанаҵ, иҟамлеит
Ҽнак иҧсы ишьаны.
Абра джуп апоет,
Насыҧ ду зызшаз.
Абра джуп апоет,
Злахьынҵа лашаз.
Дагеит уи Адгьыл,
Инасыҧ зыҧшааз.
Дагеит уи Адгьыл,
Ихаҭа дзыхшаз.
Дагеит уи Адгьыл,
Уаҳагьы дмааҧсарц.
Дагеит уи Адгьыл,
Уаҳагьы дымҧсырц.
СӠЫХЬ ХӘЫҶЫ
Сӡыхь, уара, сӡыхь,
Илакәуп уҟазшьа.
Ухәыҷуп, аха зных
Уархагоит ушьа.
Удәықәлоит уҭәы,
Ҳәа уҳажәлоит ухыҵ,
Уакәшоит адәы,
Уа џьа умҩахыҵт.
Абҕьыжә уҧсаҟьан,
Уаҿуп ҧхьацара.
Ахаҳәгьы уцҟьан,
Укнаҳауп џьара.
Уахыҧеит гәамк,
Уҟоуп уласӡа.
Умҩа ааигәам,
Аха, аа, уласӡа,
Уччо, уеилҧхаа
Уаҳҧылоит зегьы…
Ах, сӡыхь, уцаҧха
Суҭар ауп саргьы.
Иумӡан, мап, акгьы,
Исзаарты шә-маӡак:
Санысыр ауп саргьы
Сымҩа сыцқьаӡа!
АЗҴААРА ДУ
Уҧсы шҭаз – мап уцәыркит,
Уҧсы шҭаз – уфҩы цәырҵит,
Иуҳәанда: уабаргари уҧсыр?
Ҭыҧс иарҭари, нас, уҧсы?..
Анышә уарҭар – уи хәаҧашт,
Аӡы уарҭар – аӡы ҭабаашт…
Иуҳәанда: уабаргари уҧсыр?
Ҭыҧс иарҭари, нас, уҧсы?!.
ҬАГАЛАРА
Ажәҩан ахаҿы ҭанаҳәҳәеит шьҭа шьалла.
Амра знык ибжьаӡыр – ицәырҵуам лассы.
Хра дук ақәцә ҧҭақәак азхалоит ҧшьшьала,
нас, ажәҩан еиҟәжәазшәа,
идыдуеит хәылҧазы.
Ҧша хагак назыҵҟьоит ҳалгьы,
машәыршәагь
бҕьыцк азнымхарцаз ал.
Ахәшҭаара иҽҳәаӡуеит амгьалгьы,
ирҧыларц
ацақәа ирҭазгало амал.
Амал ҳәа – иауҭарызеи ҳәашьас!
Игылап, нас ацақәа еикәаҭәы!
Мап, ас аҽаҩра
изҭагалом иаашьаз!
Мап, иаашьақәо ақыҭа иатәым!
Ақыҭаҿ иахьа ҭагалара аҧшәымоуп,
еилнаргоит ишаҭаху еиҧш аҩны.
Изыгәхьаада
аҧсабара иахаму, иашәыму! –
иҟаҵатәуп ауаҩ имҩа
хьыла иқәҵаны,
Игәы ишаҭаху еиҧш
Дыҟазар ауп араҟа!
Абҕьыцқәа леиуеит ашьшьыҳәа асаараҟа.
Зных аҳауаҿ еилагьежьуеит шәынтә.
Ҭагалара гәарлеит. Аҵхгьы лашәын.
Ҭагалара рыҵоуп амҵәышә, акалаҭ.
Сыжәлар иҭаргалоит рҽаҩра барақьаҭ.
Анапы рацәа аҭахуп сқыҭа абыржәы.
Аҵх иакуп асас еихаршәы.
Аҵх лашәы…
О, аҧҭақәа неимҟьеит. Унаҧши,
амза хра инахьынҧашеит.
Уи зегь нахьхьоуп –
иахьҧхьауа сыҧсы,
сқыҭан. Ҭагалара ахьнеиз иласы.
Еикәаҭәы.
Иқәҧсо адгьыл ахьы…
Ара –
асфальт абҕьы каҧсаӡом.
Мап, асфальт иамаӡам абҕьы!
Ақәа!Ақәа!
Аҳаргьқәа! Аҳаргьқәа!
Ҭагалара убаӡом!
АПОЕТ ИРАЗҞЫ
Дыҟан – игәыдырҵон ахаҳәҵәҟьа.
Дыҟан – дадыргон алаба.
Иҟан аҳцәакгьы. Аха аҳҵәҟьа
дагәылсит ашықәсақәа еиҟәырҧа.
Изҳәада: «Ихәеит уи ибҕа?!.»
Изҳәада: «Ишәаҟьеит игәгьы?»
Ацәылашараз абыкь иҧхьан,
қәҧароуп дыҿу иахьагьы.
Еихәламхацт, мап,
зныкгьы иабџьар,
зныкгьы ибламҟьеит уи ихы.
Апоет –
апоетҵәҟьа иакәзар –
мариала ириҭом ихы.
Дыҟан – игәыдырҵон ахаҳәҵәҟьа.
Дыҟанаҵ иларҵон аҵәы.
Уажә иабаҟоу, нас, урҭ аҳцәа,
изгәалашәо дарбан аӡәы?!.
Дыҟоуп изызнымҵәо амҩа,
дыҟоуп изықәӡамыз шьаҽра,
дыҟоуп иззымдырӡоз тәамҩа,
дыҟоуп изқәым зынӡа аҧсра!
АЧЫМАЗАРА
Черный человек
Спать не дает мне всю ночь.
С. Есенин
Уара, апоет, ииз ихьшәазшәа,
уусқәа шҧаҟоу? Уара ушҧаҟоу?
Ихаҭа, асы еиҧш, дыхьшәашәоуп.
Ихаҭа, асы еиҧш, дышкәакәоуп.
Арахь, аҵәы сылеиҵоит,
ҭынч аиарҭа сылаиҵом…
Нас, ииҭахузеи сара сҿы?
Нас, даазгазеи сара сҿы?
Абарҵа игылоуп сара сҽы,
икәадырны сара сҽы:
амҩа сымоуп – ицатәуп,
аус сымоуп – иҟаҵатәуп.
Иарах:
– Уусқәа шҧаҟоу?!.
– Ухаҭа ушҧаҟоу?!.
Сҟамчы ихысҟьап сгәахәуеит.
Сҩахеит…
Аха ааигәаха
аҟырҟырҳәа аччабжь геит,
дгьыли жәҩани еилаӡҩеит…
Дахьымаара дцеит –
дабасҭаху!
Џьаҳным дцеит –
дабасҭаху!
Аха, сишь!..
Еиҭах даауеит.
Ииҭахузеи – еиҭах даауеит;
аҟыгә-ҟыгәҳәа,
аҟыгә-ҟыгәҳәа,
абҩатә лагьан данушәа.
Ибҕа џьыҟәӡа,
ибла ҭҟыҟӡа,
дҿаасҭаха,
зқьы шықәса дырнушәа.
Даауеит –
иеихатә напхазқәа имхаҵа,
дырҭаҧало иеимаақәа –
имхаӡо…
Иҳәозар акәхап:
– Уусқәа шҧаҟоу?
– Ухаҭа ушҧаҟоу?
Аҿаасҭажә, уа уаха змада!
Аҧсра иазымгацт, уҧсра збанда!
Нас сықәгьежьаа скәашарын,
аусқәа сымоуп – иҟасҵарын,
амҩа сымоуп – сыццакрын!..
Аха дааит, дааит! Дааскьааӡеит.
Аа, дысхагылоуп, дымцаӡеит…
Сан, саб имаџьар еиҵабҵар ауп.
дызгаша ахызатә ҭабҵар ауп,
сан, бласы!
Сан, бласы!
Иҳәаанӡа:
– Уусқәа шҧаҟоу?
– Ухаҭа ушҧаҟоу? –
сан, бласы!
АҦСШЬАРА МШЫ
Алик Богус изкны
Амшын акәа иҭаҧсами аҧсыӡқәа,
аӡами аҧсыӡқәа рдунеи.
Аха иамшуп иахьа аҧсыӡкра,
ахацәа амшын ахь инеит.
Ахацәа рзы иахьа
ҧсшьара мшуп.
Аӡәгьы иахьа усура дцом.
Игылоуп ара, амшын иалаҧшуа,
Рыҵәгәырқәа аӡы иалашьшь ицон.
Ицон аҵахь
рыҵәгәырқәа аҵахь –
Иҭыргарц аҧсыӡқәа.
Ицон аҵахь, ицон икаууа.
Мҽышоуп иахьа –
иамшуп аҧсыӡкра.
еизеит амшын аҿы ауаа.
Еизеит ахацәа.
Игылоуп еикәаҕҕа.
Ирӡып нас аҧсыӡ рыҳәсақәа уаха.
Игеит абжьы:
«Уҧшы анахь!Уҧшы анахь !..»
Ҧсыӡ дук нықәҳаит уа аҟәара,
иҧаҭ-ҧаҭуа, еихоит уи амшын ахь,
аха изцом арантә –
аӡы харан.
Оҳо-ҳо! Зны ҿымҭ блала ишәо,
нас жәа мҽыҕқәак мӡакәан, инаҳәаны,
ахацәа наҳәует ишәышәуа,
аха ирзычҳауам – ихынҳәны
иааихуеит: инеиҵых рыҧсыӡақәа,
инахагылан иршәоит аҧсыӡ…
Уи абарбо аҟәара иазынхаз аҧсыӡақәа,
иҧсыз ишыҧсыц.
Амшын аҵа иазцоит аҵәгәырқәа.
Амшын аҵан иҭоуп амлагәырқәа.
Мап, аӡәгьы иахьа аус иуӡом,
ахацәагьы усура ицом.
Нас инеит амшын ахь, амшын ахь,
аа, игылоуп, иҭаҧшуеит амшын…
Аҧсыӡкцәа!
Шәымҧшын уахь, шәымҧшын уахь!
Аҧсыӡқәа ирысҭеит
аҧсшьара мшы.
АҚЫҬАНТӘ СААУЕИТ…
Ақыҭантә саауеит,
сдәықәлеит шьыжьы.
Амра мгылацызт уа,
санықәлоз амҩа.
Сааскьанагеит ҳла,
алымҳацә ахьшьшьы.
Ах, шьыжьтәи ашәаҧшь
ануп уажәгьы сӡамҩа.
Ақыҭантә саауеит
ақыҭа рҧыс,
зқыҭа зыҿҳәароу,
бзиа избо ҳәаада.
Исанын ақыҭа,
исыман абыс,
ас сҟаломызт сара
сқыҭа анапада.
Ақыҭантә саауеит,
адгьыл афҩы схуп,
снаргәыҵа џьаџьоуп,
иҵатәоуп амса.
Смагана кнаҳауп,
сқәаҭана ҵәахуп –
снеира иазҧшуп.
Сымҩа арлашоит амза.
Ақыҭантә саауеит.
Сдәықәлеит шьыжьы.
Ақыҭа рҧыс
сыбзиабара ду саҵоуп.
«Амҩа!» – аҕьеҩҳәа
исмыргашеи сыбжьы.
Ижәбап, исыдхалом уалк,
саргьы схаҵоуп!
АҦХЬАҨ ИАХЬ АМҨАҾЫ
Таиф Аџьба иажәеинраалак атемала
Сара сишьҭан, иара днеиуан,
ишьҭа ихыршәлаҵәҟьан саауан.
Са сеиҳа дшыҩуаз сара издыруан,
насгьы, саҵкьыс уи деиҳан.
Аха сара сишьҭан, сишьҭан,
Сара сишьҭан смааҧсаӡо.
Абар, абар – искит ишьҭа,
абар дахьыҟоу, дызцаӡом!..
«Ма сыҧсыр ауп!..» –
игәы ааиҧсахын,
иҭаҷкәым раҵәан даасҿагылт.
Избоит: аарла иҭоуп иҧсахәа,
аха са сгәы мыждагь аангылт.
– Иуҭахузеи, ааит, узсышьҭеи! –
имч еизиган, уи дыҳәҳәеит.
«Ажәеинраалақәа»
цәырган исҭеит.
«Са споетуп!» – абасгьы сҳәеит,
сымчқәа сылшәшәан,
уа сынкаҳаит,
уаҳа исгәалашәом акгьы.
Суҳәоит, нас: убнамлан уаҳа,
сыҩны сушьҭалом саргьы.
СЫМҨА
Асы леиуеит,
аҵх лашәуп.
Схала снеиуеит,
са саӡәуп.
Сымҩа ҟьҵәыроуп,
зны сзазоит.
Усгь снаӡар ауп,
ҧхьа сеихоит.
Сқыҭа сыҧхьоит,
уи сзыҧшуп.
Сымҩа саҧхьа
сыла иҭәуп.
Ажәҩан лыхәҭоуп,
адгьыл саароуп.
Ицәаакит сыхәда,
аха сцар ауп.
***
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсаӡам, акгьы иаҧсаӡам –
аҟаҿыҳәа сзыцҳаӡом.
Убри азы акәхап,акәхап еснагь, сан,
ахьаақәа рзыҳәан срыцҳаӡам.
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсаӡам, зынӡа, мап, иаҧсам
акгьы – ҩада узалахәном!
Уаҳа избан, убри азы акәхап, бҧа, сан,
еснагь аган дзавахо?!.
Сашшуам, мап, макьанагь сааҧсаӡом,
сеиланамгеит, сан ашьыцрагьы.
Икаҧсаз схаҧыц, усгьы сиеҵә ҭашәаӡом,
илзгоит сымҩа ашыцрагьы.
Схаҧыцқәа акгьы иаҧсам, акгьы иаҧсам,
ах, исылам, сзыцҳаӡом!
Аха, А нан, ибҳәандаз?.. Избан, нас, сан,
анасыҧаз срыцҳаӡам?!.
***
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
урхыс ашьха, ага, амшын.
Еиҳа ирацәоуп уахьыҟам,
умтәан мышкгьы, умҧшын.
Аха, идыр, баша анеи-ааира
аӡәгьы ихәом, акгьы иаҧсам –
аус дуқәа уриааир ауп,
уиҩызамхан иҧсым-ибзам.
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
еиҳа уахьырҭаху урыхьӡа.
Уҽеибыҭа амҩа ду уанықәла,
шьҭахьҟа ухьамҵын, мап, зынӡа!
Уааҧса, аҧхӡы каҭәа! Усда
ҽнак утәар – ҽнак уҧсын!
Итәаны изызҳа дызусҭа?
Дҟабақымзар, уи дуаҩҧсым.
Уныҟәа, уныҟәа, уныҟәа,
уахьнеилак ушьҭа анҵо,
умтәан, еиҳауп уаныҟам,
ухәҭа нас аӡәгьы иҟаиҵом.
САРА СЫМҨА
Саргьы исымоуп амҩа,
са сызну, схатәы.
Саргьы исхаҧхоит амра,
исчаҧоит сгәахәтәы.
Аҳы, сныҟәап, сныҟәап!
(Исыцлогь рацәаҩны.)
О, сахьцогьы аҩныҟоуп,
сыздәылҵызгьы – сыҩны.
Адунеи сара салхәдам,
еихысҳәалап сшьаҿа:
мҩапак џьара иалздап,
џьара икшап сыхҿа.
Мап, схагам сара, сҟьалам,
мап, сашьҭам ахьӡ-аҧша –
сашьцәеи сареи мҩакала
ҳдәылҵит иахьа анша.
Ах, амҩа, амҩа, амҩа! –
Инымҵәо ныҟәара!..
Аҧша нықәсит сӡамҩа,
аҧша сыгәҭасит сара.
Сдәықәуп, аха сашьҭуам
амал ду аҭыҧ ҧха –
срывагылоуп сашьцәа,
саҳәшьцәа еикәаҧха.
Русқәа саргьы исусуп,
самыхеит малк хазы.
Адгьыл, ҳнапы зхьысуа,
Ибаҳчахоит лассы.
Абџьар иамҳхит ажәа,
ушәаҳәа сҟармаҵыс!
Иарбан, нас, ҳазражәуа,
сцәаҳәагьы мацәысп.
Саргьы исхаҧоит амра,
исчаҧоит сгәахәтәы.
Саргьы исымоуп амҩа,
са сызну, схатәы.
УАРБАН УАРА?
Аҳәса рылаҕырӡ ианабылуаз ахчы,
уахык иаб даницәыргоз ахәыҷы,
анацәа рӡамҩа
рылаҕырӡ анықәбоз,
уарбаныз уара?
Уабаҟаз ухаҭа?
Иҭаркыз урыламзар,
урыламзар иқәҧоз,
узусҭаз?
Иарбан иалухыз агәҭа?
…Урҭ ыҟан еснагь.
Урҭ ыҟан арагьы,
стәыла хәыҷы,
сымшын аҿықәан,
зцәа иҭалоз, иҭыҵуаз,
еснагьгьы
зынасыҧ збоз зхатәы ҿықәаҿ.
Урҭ ыҟан еснагь.
Урҭ ыҟан арагьы,
Аҟәардә ду иахаҵгылаз,
ираҳаны зхы,
Аҟәардә ду иамҵақьақьоз,
иангылан зшьамхы,
Аҟәардә ду дагәаҧхарцаз дызҭиз зашьа,
Аҟәардә ду ахьӡала, дымшәа-дмаашьа,
«аусқәа» ҟазҵоз «аусқәа» еиқәырчаҟәа,
дыҟоуп абра…
Иаба-ба?
Аҟәагь!
Уи днагылоит зны-зынла шәыгәҭан,
мап, жәа-кьакьак иҳәашам ишәыхәҭам:
иҟазшьа иҧсахит, ириашеит «игха»,
иҟәардә ду дылбааит
игәамҧха-игәаҧха.
Аҵәца шьҭихыр –
инаҳәаҧхьыӡ нҵәаӡом.
Изумҳәари:
иеиҧш хаҵак Аҧсны дубаӡом!
иеиҧш иҟәышу Аҧсны дубаӡом!
иеиҧш Аҧсны иаҭаху Аҧсны дубаӡом!
Аха иҟан егьырҭ – злахынҵа цәгьахаз,
хынҳәра зықәӡамкәа «ныҟәара» ицақәаз.
Баҟа зызгылам, аха зынӡа ҧсра зқәым.
37 рзы ижәылаз. Иахьагьы қәҧара згым.
Урҭ рыхьӡала аус ахь суҧхьоит сара;
АХЫРҚЬИАРА УЛШАРУ УАРА?!.
Са сразҟыдам, са сразҟыдам,
сынасыҧаз сашшуа.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
еснагьгьы илашо.
Амҩа сықәуп, амҩа сықәуп,
еихысҳәалоит сшьаҿа.
Ҵыхла сдәықәуп, ҽынла сдәықәуп,
сыжәбарым сшьаҽуа!..
Сажәа сашьҭоуп, сашәа сашьҭоуп,
исыҧшаауеит, ишәымбари!
Дысҧышькласырц игылаз сышьҭахь,
уаҟа дымшьаҽри.
Са сыҩныдам, са сыдәныдам,
сынхауеит с-Аҧсны.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
избалоит снаҧшны.
Еснагь икыдуп, икыдын уи
зқьы-шықәса илашо.
Аӡәы иҭаххар сиеҵә кыдиҧаарц,
дызцарым дкәашо.
Са снасыҧдам, са сразҟыдам,
хәымгарак ҟасҵом.
Сиеҵә кыдуп, сиеҵә кыдуп,
шәакьысыр – изуӡом!
АҼЫЖӘЛАРА
Саҕәра аушәыжь, са искыми, сыгәра шәымгаӡои?
Са схәыҷума, схала сҽыжәлеит, нас, схалагьы сымцои!
Сымра гылеит. Сымза гылеит. Сыдгьыл ҧшӡоуп зынӡа.
Сҟамчы сҟьап. Сыбжьы сыргап. Сниасрыма, нас, сыҽӡа?!
Сцар сыхәҭоушәа сгәы иабоит. Уи иаҳәеит: «Унаӡар ауп!»
Иҟалом, мап, сымцар ҟалом. Сышьха ирҳәеит: «Уцар ауп!»
Сымҩа ҧшуп. Сҭыҧҳа дыҧшуп. Итәоуп исызҳәаны.
Сыҵхгьы мшуп. Сымшгьы мшуп. Шәахәала иҭаҳәҳәаны.
Саҕәра аушәыжь. Са искыми, сыгәра шәымгаӡои?!.
Са схәыҷума, схала сҽыжәлеит, нас, схалагьы сымцои!
Сахьцо здыруеит. Сымҩа здыруеит. Ҳаи-ҳаи, шәласы!
Саҕәра аушәыжь, са искыми, шәымшәан сара сзы.
АҬАКҦХЫҚӘРА
Ҳаргьы иҳазшоуп абаррикадақәа,
иҳазҳауеит уи амш азын.
Ҳаргьы иҳазҧшуп џьара ҳ-Монкадақәа,
Ҳжәылар акәхоит шарҧазы.
Ҳара ҳаамҭагь –
ибаша аамҭаӡам,
еибашьроуп:
шә-хык азҧшуп агәахы.
Џьара дгьылкаҿ иахьа ашамҭаз
Ахақәуиҭра адыргеит ахы.
Зехьынџьара имлашацт макьанагьы,
џьара амшгьы, аҵхгәы лашәуп.
Уа ахәура иҭоуп амаганагьы,
маҭәас иҟоугьы – ашәоуп.
Уа иахьа адгьыл гәынқьуазар,
иҳәҳәоит ҽнак: «Шьҭа иазхоз!»
Ҳа ҳабџьарқәагь еснагь ихиазар ауп,
игоит игәыҭшьаагоу sos.
Иахьа Испаниа еиҭаҳәҳәахыр –
интербригадақәа аҭаххоит.
Иахьа Испаниа еиҭаҳәҳәахыр –
еиҭагьы ашьа каҭәатәхоит.
Ҳаргьы иҳазҧшуп ҳа- ҳ-Монкадақәа
мышкы зны ҳхысрақәа идыруазырп!
Ҳаргьы иҳазшоуп абаррикадақәа –
доус иҭыҧ иахьа
иудыруазар ауп!
ИСЫЛШАРУ?..
Икыдҵәан илеиуеит ақәа,
ихыҵны идәықәлеит аҩарқәа.
Мап, уи сара сакәӡам иқәуа,
са сакәӡам абаашахь иҩарго.
Ах, сагьалагом шьҭа ақәра!
Аҧсадгьыл иабаҭаху ажәақәа,
Аҧсадгьыл иаҭахуп ашәақәа,
насгьы махәҿала акрура.
Са снеиуеит амҩақәа еихҵәо,
уал дукгьы сыхәда иқәуп.
Сеимаақәа аӡҧсы рҭаҵәо,
сабацәа, шәыдгьыл
саргьы сықәуп.
Шәылымкаа исҭахым разҟык,
шәылымкаа исҭахым насыҧкгьы,
Шәыҟанаҵ – сыҟоуп шәа шәҟны,
изалшом сҟаларц снасыҧданы.
Нас, илеиуаз, илеиуаз ақәа,
аҭахызар ҭынч ма
икыдҵәаны.
Сашшуам, исырҩеит сеимаақәа,
сыџьнышгьы
сиеихсит
дкыдҵаны.
Снеиуеит ус, амҩақәа еихҵәо,
сахьцогьы здыруеит, сцар ауп!
Аха сгәы ак ҭыхоит сырҳәацәо:
исылшару –
шәгәаҿынӡа снаӡар ауп?!.
«УАШЬҬАН» АЗЫ АЖӘАК
Хҿыхгак ҳамоуп «уашьҭан» ҳәа,
иаҳҳәоит: «Уашьҭан иҟаҳҵап».
Хыхьчагак ҳамоуп «уаҵәы» ҳәа,
ҳгәыҕуеит: уаҵәы ҳахьӡап .
Аха «уашьҭан» иамамзаап ҳәаакгьы,
«уаҵәгьы» иашьҭанеиуеит «уаҵәык».
Иззымдыруада, араҟа исымҳәаргьы,
дыҟам адгьыл иахаану ҳәа аӡәык.
Дыҟам «уашьҭанқәа» зегьы ирхаану,
дыҟам «уаҵәқәа» зегьы ирыхьӡаз.
Арахь «иацы» хнымҳәыцт ахаангьы,
зегьы-зегь нхеит наӡаӡа иахьцаз.
Нас, лаҵан ауп ианкарҧса ажәлагьы,
ҭагалан ауп ианҭаргало аҽаҩра.
Уашьҭаназ икылҧшуеит ажәрагьы,
уашьҭаназ иҧшуп адамра.
«Уаҵәы» ҳәа иҳамоугьы башоуп,
иахьатәи уусқәа иахьа урыхьӡар ауп,
уаҵәтәи ахәҭагьы иахьа иуҧхьаӡар ауп,
«иацы» ашҟа ицар – узахьӡашам.
Нас, «уашьҭан» сшьуеит абра, сажәеинраалаҿ,
нас, «уашьҭан» зжуеит абра, сажәеинраалаҿ,
аусқәа рзын иҟоу «иахьоуп», «уажәоуп»,
зусқәа ириааиз изы ирҳәо ашәоуп.
АҦШЕИ САРЕИ
Аҧша исанаҳәеит сара (иснаргеит уи агәра):
«Аҧҭа касцеит наҟ џьара, аҧҭа ҧхасҵеит наҟ хара,
иҧхап шьҭа ижжаӡа, умра ҧхап шьҭа ихааӡа,
мра шәахәала ичап, мра шәахәала иҳааӡап!
Исыбжьеит ақәа, уацәымшәан уаҳа ақәа,
иҟалап улаҳақәа, шьҭа иҟалап уҳақәа,
икажь унапҭарҧагьы, икажь наҟ ухҭарҧагьы,
уиҧырҵ агә-ҭабаагьы, уиҧырҵ ах-ҭабаагьы!»
Аҧша исанаҳәеит сара (исабжьнагеит ара):
«Унавал аҟәара, у-Ната дума ныҟәара,
иуешуам алақәа, иуҧылап уа арақәа.
Исшьит ақәа, иуҧырхагам уара ақәа.
Шьҭа уцала, уцала – умҩа лас уагалап,
уцала, уцала – уашәабжь амҩан игалап.
уабгьы уа дыҧшлап, уангьы уа дыҧшлап.
Мра шәахәала умш лашап,
мза шәахәала уҵх лашап.
Иҭабуп, аҧша! Ҧҭацкгьы хымызт иахьа анша.
Сгәы шьҭыхуа, еснагь усыцыз уара, аҧша!
ТӘЫЛАК АЛАХЬЫНҴА
Иҟоуп – иҟа
амцқәа ртәыла,
иарбан изџьашьатәу?!
Амцқәеи амҵқәеи рыла
уи атәыла ҭәуп.
Амцқәа ртәылаҿ амцқәа
дәықәуп ус иҳәҳәо.
Амцқәа ртәылаҿ амҵқәагь,
мцымзар, акгьы рҳәом.
Ауаагьы, амҵқәа реиҧш,
идәықәуп игиуа.
Ауаагьы, амцқәа реиҧш,
мцыми ирҳәо уа.
Уа, еснагь игәаҟуа,
мцҳәаҩцәоуп инхо,
Шьаҿацыҧхьаӡа уаҟа
мцуп узаахо.
Мцымзар, акгьы ыҟам,
аиаша рымҳәеит.
Мцымзар, акгьы ыҟам,
аиаша рмаҳацт.
– Аиаша-ба, аиаша? –
Иҧшуеит ишанханы.
– Анаша-ба, анаша?..
Иҳамдыруеи ҵаны!
Инеины аҟаб баа
инақәыркуеит рнацәа.
«Иаҳфеит, – рҳәеит, – акаба,
еиҵамларц ҳамгәацәа».
Дыҟоуп уа кралкгьы,
атәыла деиҳабны.
Имоуп уи малкгьы,
мыцла еибаркны.
Иҟам ашәандыҟәра
инҭеиҵан имал,
иҟам акәыкәымдраҿ
иҵәахит акрал.
Ирыхьчоит иҟарулцәа,
иҟам-ианым…
О, ишынхо-ишынҵуа
жәак иазҳәарым!
Ах, изҿузеи, изҿузеи!
Ишҧаҟоу, ишҧа!..
Аха ҽнак –
изџьашьатәузеи! –
ирыжәлеит ацәқәырҧа.
Ишырҳәоз; «Аҧша!
Аҧша!» – иагеит аӡы.
Иарӡит рыхьӡ-рхыҧша,
дрыҭнымхеит аӡәы.
Иагеит ацәқәырҧа
рымцгьы, рҵагьы.
Иҟазма?..ианба!..
Издырам аӡәгьы!
Аӡәгьы, игәы иалырсны,
исеиҳәон абас.
Игәра сызгом,
дреиуазар
уантә зыҧсы згаз?!.
АИБАШЬРА АШЬҬАХЬ
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацызт,
аҭаҧшрагьы, мап, исҭахым.
Аибашьра адәаҿы сшьа камшӡацт,
дсывнамхит сҩызакгьы ахы.
Исгәалашәоит аибашьра ҧхыӡҵас…
Усҟан қәрала смаҷын сара.
Сан сышьҭалҵон, ирмаҷшәа схы днас,
сыцәарц илымҭа зҵаарак.
Аибашьра сгәалашәон аарла,
уажә исхашҭырц иаҿуп.
…Аҧша ҳааҵраҿ имақарлон,
иарыцәгьон аҵхгьы ахаҿы.
Абжьқәа уахыкгьы
ҳажәҩан дырцәомызт…
Ирҳәон: «Ибналеит арҳәцәа!
Урҭ ҳашьхақәа, мап, изырхыҵуамызт!»
Сан илҳәеит:»Ҳрыцҳаишьеит Анцәа?»
Зегь мҩасит. Ҳашьҭахьҟа инхеит.
Ҿааҳәырада, аибашьрагьы, уцаз!
Аха ҳгәаҿы ахәрақәа нхеит,
урҭ ҳартытуам ҳара цас.
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацт,
аҭаҧшрагьы, мап, исҭахым.
Аҧсреи абзареи срыбжьамҧшыцт,
зныкгьы исыцрамсит ахы.
Аха ара, стәылаҿ, абиҧаракгьы
мҩамсит руал-ҧшьа намгӡа.
Иахьа сеигӡом исылоу шьа кәаракгьы,
сыдгьыл иаҳәар:»Ухәҭа ҟаҵа!»
Мап, аҧсра абла сара сҭамҧшӡацт,
сцәаҳәагьы шәарам израӡо.
Зыҧсадгьыл азы иҧсыз – дҭамхацт,
мап, имшәаз ахы дазгаӡом.
Аха исҭахуп, сымшәа-смырҳакәа,
сымчқәа зегь стәылаҿ ишәҭырц,
сусқәа сшырзықәҧо, изымбакәа,
сыҧхӡы ласыхәлаҵәан сыҧсырц.
***
Ишьҭаҵо адгьыл еиҩырссаны,
инеиуеит ҧхьаҟа ҳацәқәа.
Мап, ҳамиит ҳара уаа ссаны,
зны ҳрыҩназаргьы ақәацәқәа.
Ақәацә умдыруеи изахьӡу?
Ухыҧшымлахьеи
уабацәа рышьҭра?
Аӡәгьы иахьа
ҳшьаҿа дзахьӡом,
иануп ажәҩан
аҧсуаагьы рышьҭа.
Аамҭа акыргьы измақарт,
о, акыргьы иқәсит иӡамҩа,
аха иҳәоит:
– са соуп аҳәынҭқар,
ажәҩан ахьгы
ихазгалаз амҩа…
Ааи, аҳәынҭқар –
иара ихаҭа!
Ааи, ихаҭа –
Адгьылаҿ иаҧшәымоу!
Аха қәылара-рҳәрак
ихы иҭам –
дуаҩуп, дынхаҩуп,
имоу – еицшәымоуп.
Аха аӡә диқәлар, иаҳәа ҭҧааны,
диҧылоит уи, аҧсра ҧхаҵаны,
ибаахоит зны дзыҩназ ақәацәқәа.
Ишьҭеиҵоит адгьыл еиҩырссаны,
аҧсуа дынхоит игәы разны –
еихоит ҧхьаҟа
ааҧсара зқәым ацәқәа.
АМАЦАҦШРА
Амацақәа, амацақәа
исашәҳәа сразҟы!
Иабаццакуа,
иабаццакуа
аҧҭақәа лаҟәы?
Иабыку аҧсыжра?
Ирбада иҧсны?
Иарбан изҽыжәлаз
аҧҭақәа ласны?
Злахьынҵа цәгьахада,
злахьынҵа лашәы?
Дарбан, изцәынхада
абасҟак ашәы?
Ажәҩан ду зегь шәыла
иҭаҳәҳәами зынӡа!
Адгьыл аӡа шәҩыла
иаҳцәагоит ауаа ӡа.
Амацақәа, амацақәа,
ишәымӡан акгьы:
иабаццақәа, иабаццақәа
сымшқәа зегьы!.
Иабаҟоу са иҟасҵаз?
Иабаҟоу са стәы?
Ари адгьылаҿ иҟаз цас
иахьымӡеи ргәахәтәы!
Ма сара сҟьалахама,
сшьапқәа еилаго?
Ма ацәа салахама,
сынасыҧ ӡаны ирго?
Ма амҩан дысҧылама
ӡызлан лыҧҳа?
Ма ажәҩан сангылома,
аеҵәа кәаҳа?..
Амацақәа, амацақәа,
ишәымӡан акгьы:
ианбанӡаку,
ианбанӡаку
Сыркьыҧхьло саргьы?..
Еҳ, амацақәа, амацақәа,
амца нашәхыст!
«ҟәаҩ!» –
ианбанӡакәыз! –
ажәҩан ахь схыст.
ААШЬАҨ «ИЧАРА»
Алаф
Цәаҕәан уи иқәаҭана ҧхасҭан –
идәы цәаҕәаны иқыҭауаа ирҭеит;
рашәан уи иҽага ахәы ҧҵәан –
имхы рашаәны ақыҭауаа ирҭеит;
ҭагалан иуардын ахәда хжәан –
иҽаҩра ҭагалан иқыҭауаа ирҭеит.
уаанӡа ижьгьы рҭаахьан, ирхәахьан,
аҩы аҵхны, иуаларқәагьы дырҭәхьан.
Даҧсуамзи, анаџьалбеит, дыҧхашьеит,
шәааи аҩныҟа ҳәа ибжьы рызиргеит;
«иаашәрыхзар, –
иаҳҿашәҵагәышьа!» – иҳәеит.
Olet lukenut 1 tekstiä osoitteesta Abhaz-Abaza kirjallisuutta.
Seuraava - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03
- Osat
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3391Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 21630.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3250Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20140.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3353Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20790.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3330Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20590.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3194Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20940.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3210Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 18620.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3261Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 19560.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3294Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20210.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3201Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20510.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3265Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20300.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3262Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20220.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3318Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 20660.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 3374Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 23410.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14Jokainen rivi edustaa sanojen prosenttiosuutta 1000 yleisintä sanaa kohti.Sanojen kokonaismäärä on 1135Yksilöllisten sanojen kokonaismäärä on 9090.0 sanoista on 2000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 5 000 yleisimmän sanan joukossa0.0 sanoista on 8 000 yleisimmän sanan joukossa