LatinEach bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
Total number of words is 3336
Total number of unique words is 2182
0.0 of words are in the 2000 most common words
0.0 of words are in the 5000 most common words
0.0 of words are in the 8000 most common words
сиасит, аха атеатртә ҟазара даара бзиа избон. Иреиӷьқәаз
артистцәа Виолетта Маанԥҳаи, Валери Ақаҩбеи ароль хадақәа
ихәмарыртә изҩит апиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра». Апиеса
хшыҩҵак хадас иагәылан, анырра дуӡӡа ҟазҵаз, ажәытәӡатәи
индиатәи афилософиа џьанизм. Уи афилософиа амахәҭак,
ахырхарҭак ахынсра ҳәа иашьҭоуп. Ажәа ахынсра ҵакыла даара иазааигәоуп аԥсуа ажәа ахькьымсра. Адгьыл иқәныҟәо
ашышкамс инаркны, ажәҩан иаҵаԥыруа аԥсаатәи, ӡи-мшыни
ирҭаӡсо инадыркны иарбанзаалак зыԥсы ҭоу зегьы ацәгьара
рзымура. Ишысҳәаз еиԥш, спиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра»,
хшыҩҵак хадас иагәылоуп, хыхь зыӡбахә сҳәаз афилософиа
ахынсра.
Уи аспектакльгьы асценатә ԥсҭазаара даараӡа икьаҿхеит.
Ҩынтә-хынтә рыда ахәаԥшцәа ирымбартә еиҿыркааит.
«Аҳақ ашәара» ықәызгаз. Асовет мчы иаԥырхагоуп, аидеологиа иаҿагылоуп ҳәа иаахтны аҳәара уадаҩхеит. Ҳәарада,
КГБ ашҟа ацәгьаҳәацәа ҳаҩнуҵҟагьы иҟан, иҟагәышьан
аҟәыӷацәагьы. Урҭ еилыркааит асовет мчы, изықәгылаз ауасхыр шьаарҵәырала ишҭәыз. Ирмаанашәа иҳәан, ашьха аҳаракыра уанхало, амҩа уанану, рыцҳашьарада зегьы
урықәԥало, ирҟьацуа ахықәцәан ухалар, узықәлаз ашьха
ахаҭа ихыбгалоит, ухаҭагьы уаҵаҟьацуеит. Иҟан даҽакы
– апиеса злоухьчаша. Бзиа еибабо арԥыси аԥҳәызбеи
урԥырхагамхан.
Аимак-аиҿак зҭахыдаз?! Ирыԥшааит зынӡаск имариаз
амҩа. Ихаҭа игәаԥхартә дазыҟаҵаны, аспектакль «Ҳашьхақәа
рышәшьыра» ароль хада назыгӡоз, иқәзыргылаз В. Ақаҩба,
Москва, атеатр институт дҭалеит, арежиссиортә факультет.
Сара ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашҟа аиасраз аусурахь
санцаз ашьҭахь, Аԥсуа театр аҟны убасҟак ахҭыс бааԥсқәа
мҩаԥысит, асцена аҟны иаҳдырбоз аспектакльқәа раҵкыс
акырӡа еиҳаны, итҟәацыз асыԥса иаҩызаха, имҩаԥысуан атеатр аҩнуҵҟагьы, адәныҟагьы.
Аԥсуа театртә ҟазара зҭахымыз, уимоу зынӡаскгьы
изцәымӷыз ауаа ԥаршеицәа, еиужьӡаны рхы иадырхәеит
аиҵашьыцра еиқәаҵәа. Зны еиҿарыжьит абиԥара еиҳабацәеи
аиҵбацәеи, ашьҭахь, еиӷацәас иҟарҵеит иреиӷьқәаз артистцәа.
Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәым, анҭыҵ инахараны
Аԥсуа театр ахьӡ-аԥша шьҭызхыз, абаҩхатәра ду злоу,
ԥсабаралагьы иҟәыӷаз, гәыла-ԥсыла иаԥсыуаз апатриот Н.
Р. Ешба, иаахтны иуҳәозар, Аԥсны дықәырцеит. Ҳәарада,
иҳәатәуп, Нелли Ражьден-иԥҳа, уаҩԥсык иаҳасабала агхақәа
лымагәышьан. Аха иҟамызт амч бзиақәа, лара дзыԥсаз
гәаҭаны деиқәзырхашаз, зҽызшаз аԥсуа театр еидызкылашаз. Убри аганахьала иҟаиҵаз даара ирацәоуп, Н. Р. Ешба
лышьҭахь, шықәсқәак режиссиор хадас иҟаз Д. Кәартаа.
Збаҩхатәра ссири, зуаҩреи даара иҳаракыз, иҭәымҭа
дышҭагылаз иаалырҟьаны игәы аангылан иԥсҭазаара далҵит.
Иааизакны ҳкультура зегьы ааха ду аиуит. Аҵарагьы иманы,
ԥсабаралагьы абаҩхатәра, ихала данаанха, ижәҩа иқәлаз
аидара ашьҭыхра ицәуадаҩхеит М. К. Мархолиа, ихаҭа
иқәиргылаз аспектакльқәа ақәҿиара дуқәа шрымазгьы.
Аамҭақәак директрос дыҟан, актиор ду, адраматург, аԥсуа театр ашьаҭыркҩцәа руаӡәк Шә. А. Ԥачалиа.
Москва аҵара дахьҭаз далган, Аԥсныҟа дхынҳәын, аԥсуа
театр аҟны аусура далагеит В. Ақаҩба. Атеатр аусқәа рҟны
мацара адагьы егьырҭ ирҿиамҭақәа рҟынгьы исылшоз ала
сицхраауан, избанзар аргамаду избон, дызшаз илаиҵан,
абаҩхатәра ду шилоу актиорк иаҳасабала.
Иаазгоит ҿырԥштәык сахьицхрааз. Киевтәи акиностудиа иҭнахуан аԥсуа телефильм «Арҿиара». Ахы инаркны
аҵыхәанӡа акиносценариа сара изҩит, ароль хадақәа руак
сара инасыгӡон.
Арежиссиор М. Машенкои сареи аиҩызара-аилибакаара
бзиаӡа ахьҳабжьаз аамышьҭахьгы, иара усгьы, сара
сақәшаҳаҭымхар ҳкино аҟны ароль бзиаӡа изиҭаӡомызт.
Иԥырхагахара акәым, иаҳагьы сицхрааит. Уи зысҳәо ҳаԥхьаҟа
еилышәкаап. Иаҳагьы дшысҭахызгьы, зегьрыла ишилшозгьы,
атеатр аҩнуҵҟа усқәак еиҿкаан, имаҵура ааныжьны дымцар амуит Шә. Ԥачалиа. Директорсгьы режиссиор хадасгьы
дҟалеит В. Ақаҩба.
Сазыхынҳәып аспектакль «Ҳашьхақәа рышәшьыра»
ахшыҩҵак хада ашҟа – зыԥсы ҭоу акгьы уаӷрамԥалан, ашьха
ҳаракыра уанхало. Уи аныҟаумҵа, ашьха ашәшьыраҿы уаанхоит.
Аҵара.
Москва аҵара дахьынӡаҭаз, иҵарадырра аныҭбааха,
идунеихәаԥшра иаҳа ианҵаулаха, ҳәарада, аԥсҭазаара
даҽакала еиликаауа далагеит. Афилософиа Џьанизм – ахьысра, ахькьымсра. Ароль хада назыгӡоз В. Ақаҩба аԥсҭазаараҿ
иаҳа ихәоит ҳәа иӡбазар акәхап, убри аҟынтә зынӡаск даҽа
мҩак данылеит, идеалс еиҳа ишьҭихзар акәхап Раскольников
ифилософиа, зымч рықәхо рыӷраԥалара. Раԥхьаӡа дигәҭасит
Шә. Ԥачалиа, СССР жәлар рартист, Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә
театр ашьапы иқәзыргылаз. Уи даниԥырига, иаанханы иҟан
иҵегьы иԥырхагақәаз. Урҭ даараӡа иԥырхаган, избанзар урҭ
артистцәа рыхьӡ-рыԥша ҳаракын, рԥышәагьы даара иҭбаан,
дара рзыҳәан мацарагьы инеиуаз ахәаԥшцәа рацәаҩын. Урҭ
рышәшьыра иҵамхарц, аӡәаӡәала рықәцара далагеит.
Ахьаԥарч азыҳәан ирымҳәахьеи: изхылҵыз иахәлаӷӷуан
ҳәа, рыҩны гәакьа – ҳахәшҭаара ду аԥсуа театр ааҵра
иныҵагылеит Софа Агәмаа, Шьалуа Гыцба, Нурбеи Камкиа
уҳәа, ишырҳәо –«цвет театра».
Еиҭах ҳазыхынҳәып аспектакль «Аҳақ ашәара».
Ишәгәаласыршәап. Раԥхьаӡа атеатр аҟны иқәыргылан 1966
шықәсазы. Иҵит иаарыцқьаны 23 шықәса. Аамҭа аҽаԥсахит,
апиеса «Аҳақ ашәара» иаҿагылаз ауаа Анцәа иџьшьаны, иахьымаара ицеит, иаанхақәаз рымч маҷхахьеит иҳәагәышьан
арежиссиор М. К. Мархолиа, еснагь игәы иҵхоз адрама
зынӡаск ирҿыцны иқәиргылеит.
Ҳаамҭазы аԥсуа театр аҟны зынӡаск исхашҭхьеит асахьа
ркыратә хеилак (художественный совет). Иалахәын аҵарауаа,
ашәҟәыҩҩцәа, акомпозиторцәа, асахьаҭыхҩцәа, ҳәарада,
акультура аминистр далархәны, убарҭ ирӡбуан аспектакль
аразҟы.
Иҟалацыз еиҭах иҟалеит. Агазеҭқәа ирнырҵахьан иаарласны апремиера ҟалоит ҳәа. Апремиера ашьҭахь, асезон иаркны
атеатр амҩа иқәгылан Украинаҟа. Киевтәи ауаҩы дааны, уахь
иргақәаз аспектакльқәа дрыхәаԥшит, иалкааны иазгәеиҭеит
«Аҳақ ашәара» уеизгьы-уеизгьы инажәга ҳәа.
Аԥсны анҭыҵ акәым, знызаҵәыкгьы Аҟәагьы ахәаԥшцәа
идыдмырбаӡеит. Иаахжәаны иуҳәозар В. М. Ақаҩба иколлега М. К. Мархолиа «диӷрагылеит» ирҟьацит аспектакль «Аҳақ
ашәара», ҳәарада, активла иацхраауан «аҟаԥшьқәа».
Хыла-гәыла иаарҳәны аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы иҟалеит
егьи аҩбатәи спиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра».
Ауаа ирыӷраԥалоз убасҟак ихнаԥааны иҟан, рымчра убас
рыхшыҩ арлашәит, ирызгәамҭаӡакәа, ирыҵышьшь ацара
иаҿын изықәгылаз ауасхыр – Асовет ҳәынҭқарра асистема.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Москвеи Петербурги акыр шықәса раахыс аиҩызцәа
дуқәа сымоуп аурыс ҵарауаа. Сразҵаауа салагеит Б. Н. Ельцен абасҟак изицәмыӷхазеи акоммунисттә партиа ҳәа. Еилыскааит акьыԥхь аҟны сызмыԥхьацыз. Сара саныхәыҷыз,
акомҿарааи акоммунистцәеи ҳара ҳҭаацәа ирзыруз убри
аҩызаҵәҟьа рзырухьазаарын Б. Н. Ельцен иҭаацәа. Иаарымаз
зегьы иаарымхны аӷәыцәҳәы инықәдыртәеит, ирфо-иржәуа
рымамкәа адәы иаақәхеит.
Ауаҩы даныхәыҷыз изууа абзиарагьы ацәгьарагьы иԥсы
ҭанаҵы ихашҭӡом рҳәоит. Аԥсҭазаараҿы исԥылахьеит убри
ишиашаҵәҟьоу.
Ҳҳабла Аҭара ахәы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа хыбра заҵәык
аанымхакәа ирблаанӡа, ҳаигәылацәан Бигәаа рҭаацәараки
ҳареи. Рабду Алиас ихьӡын. Аколнхара иатәыз ашәыр баҳча
ирахә нҭалан, аԥхасҭа ҟарҵеит. Убри дахырҟьаны, ажәлар
раӷа ҳәа дҭаркит, дыршьит. Иҷкәын Нури иарԥысра данҭагыла,
аҭаацәара далалеит. «Аиба икәакәар былуам» – ҳәа ишырҳәо
еиԥш, Нури дманшәалахеит. Хҩык аԥҳацәеи, хҩык аҷкәынцәеи
рхылҵит.
Ибзианы дысгәалашәоит иара Нури, дхәаахәҭҩын. Иазхашаз аҵарагьы иман.
Ҽнак амыждараз, Очамчырантәи ааҵәала ачашыла ааигеит иҭирц азыҳәан. Ааҵәа заҵәык иҭиаанӡа аревизиатә
комиссиа неит, адәқьан ангәарҭа ааҵәак ачашыла азымхеит. Акт убасҟак еиқәаҵәаны ирҩит, ахарадҵара идырҵеит
аҳәынҭқарра амал, ажәлар рмал иӷьычит ҳәа. Аус дарҭеит.
Дызҭахымыз, иҵашьыцуаз ауҳәан-сҳәан гәарарҵеит ҳирҳәит,
ҳахирҵәеит ҳәа.
Аламыс ду злаз уаҩын Нури. Саб ажәлар раӷа ҳәа ахьӡ
бааԥс ихырҵеит, саргьы ажәлар срыҵаӷьычит ҳәа сцәа ԥырҽит,
исыхшаз схәыҷқәа ирыҽԥнырҳәалап иҳәан, ихала, инапала,
мчыла зҭәымҭа иҭагылаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит. Иԥҳәыс
Милиа лыхьӡын, Харчлааԥҳан, Аӡҩыбжьатәын. Аҭаацәара
мацара акәым, аԥсҭазаараҿгьы иҟәыӷаз ԥҳәысын. Иаалыхшаз зегьы убас илааӡеит џьабаала инхалартә. Исгәалашәоит,
рыԥсаҭа шкәакәахааит, ибыхшаз аӡәк иаҵкыс аӡәк дыԥшӡоуп
ҳәа аӡәы данирҽхәалак: «Ауаҩы дзырԥшӡо аусуроуп», – лҳәон.
Рыфҩыкгьы, аусуреи аҵареи еиларгӡон, аҵара дуқәа ирылгеит,
рызегьы ршьапы иқәгылеит. Уажәы Аҟәа Леон ихьӡ зху амҩаду
уаныланы ушнеиуа, аботаникатә баҳча аԥхьаҵәҟьа унадгылоит хԥаны еихагылоу, «Сухум-банк» зыхьӡу ахыбра ԥшӡа. Убри
зыргылаз, изтәу Нури Бигәаа иҷкәын агәыбжьанытә Геннадии
иоуп. Аибашьраан даара дацхрааит Аԥсны. Иашьеиҵыб Вадик
командирс дыҟан, иӷәӷәаны дырхәит.
Сазыхынҳәып хыхь исҳәаз ажәаԥҟа: «Ауаҩы даныхәыҷу
изууа ахаан ихашҭӡом» ҳәа.
2000 шықәса сара сзыҳәан шықәсы еиқәаҵәахеит. Сыҷ
кәын аиҵбы, деибганы аибашьра иалҵыз, амыждараз, автомат
ширыцқьоз машәырла иҭҟьаны дҭахеит. Сара адабла сысхьан,
сҿы акны сышьҭан Москва ахәшәтәырҭаҿы. Ҽнак деидараеиҵараха, схала сахьышьҭаз апалата дааҩналеит Гена. Москва аус иуазаарын, иаҳан днеизаап.
Ҳанеицәажәа , ус ҿааиҭит:
– Иԥсаҭа шкәакәахааит уаб Басариан. Иаҳзиухьоу абзиа
рақәа адунеихаан исхашҭуам. Иугәалашәома, уара, хыхь
ауардын уақәтәаны, Басариан аԥхьа дгыланы, изныкымкәа,
иҳазнажәгахьан амҿы. Сашьеиҳаб Едик аԥхьа дыргыланы,
ҳамхқәа ицәаӷәон. Агәашә давсны дцомызт шәышԥаҟоу, акыр
шәыгума ҳәа – сыхгьы долларқәак наҵаҵаны, сгәыдкылахыдкыланы дцеит, мышқәак рышьҭахь иԥшәмеи иҷкәыни
наишьҭит сырбарц.
Акырӡа уазҳәо абри ахҭыс хәыҷы исгәаланаршәеит иахьа
ашәы ахьыкәкәо, ашә ыҵабырҟа иарку атеатр. Абаҩхатәра
иагьа идузаргьы, ауаҩра анацымла, ахшара дызмоуа аԥҳәыс
ԥшӡа илҩызахоит, адәы дықәзаауеит лхазы мацара.
Санҵамҭақәа, ҳәарада, аԥхьаҩ иазгәеиҭашт, спиесақәа
«Аҳақ ашәареи», «Ҳашьхақәа рышәшьыреи», атеатр арепертуар иалызхыз асовет цензура, ацәгьаҳәацәеи ашьыцыҩцәеи
амч рызҭоз «аҟаԥшьқәа» раԥхьа игылан.
Дара аҩымҭақәа рыҩбагьы, усҟанҵәҟьа хьаа дуны исхыз
гагәышьеит, аха раԥхьатәи адрама «Аҳақ ашәара», шықәсык
анҵы исзымдырӡакәа, схатәы ԥсҭазаараҿы даараӡа исыхәеит.
Бзиа избоз аԥҳәызба, ахаан еиԥымло, ҳамҩақәа хазы-хазы
иахьцаз ҳҩыџьегьы иаҳзеиӷьхеит.
Аҵыхәтәанӡатәи ҳаиԥылараан, гәаартыла ҳҩыџьегьы
ҳҽаанкыланы, акыр шықәса ҳагәқәа зырԥхоз ҳаибаҭаххара
ҳаҭыр ақәҵаны, убас ҳаицәажәеит, иаҳзааигәаз ауаа ираҳ
ҳәаларц иаархааны, ирҟәымшәышәны ҟазшьала ҳаиқәшәом
ҳәа, ҳаиԥырҵра зыхҟьаҵәҟьаз, ахаан блакы иамбартә, амшын иалаҳаршәыз ахаҳә еиқәаҵәа еиԥш иаҳҵәахырц.
Насгьы, мышкы, дасу инасыԥ аниоулак ашьҭахьгьы, ҳаҭыр
еиқәаҳҵаларц. Сара ажәа лысҭеит: хаҵа дцаанӡа аҭаацәара
сшаламло ҳәа.
Аиашаҵәҟьа иахьагьы исыздыруам, ҳанеиԥырҵ шықәсы
бжак аҟара ааҵаанӡа, дманшәалахан, ҳаҭыр зқәыз хаҵарԥыск
диццеит. Аҟәа абаӷәазаҿы аӷба иақәтәаны, аҵх иналаланы,
амшын инхылаанӡа, сылабжышқәа сгәаҵа инҭаԥсо, ааигәаӡа
аҟәара сықәгылан сыԥшуан. Схы саиааины, анасыԥ ԥшӡа
Анцәа ибиҭааит сҳәон сгәаныла. Убри ашықәсан саргьы
аҭаацәара салалеит.
Адинхаҵара буддизм аҟны џьарамзар џьаргьы иӡбахә
ҳәаӡам Анцәа, хыхь иқәтәоу, аԥсуаа ҳҳәашьа. Аха иҟоуп
даҽакы. Ажәҩан аҟны иҟоуп ҳәа мычқәак, убарҭ амчқәа
еиқәшаҳаҭны ирыӡбуеит адгьыл аҟны имҩаԥысуа, акыр
зҵазкуа ахҭысқәа зегьы. Иҟалап, уи адинхаҵара иизар, Анцәа
ауаа дреиԥшны адәы дықәны, ашьҭахь ажәҩанахь дцаанӡа.
Убри даара иазааигәоуп аԥсуа мифк.
Ауаҩы данилак, дахьиз аҩны азааигәара аҵла инықәтәаны
еицәажәоит ашацәа, ирыӡбуеит ииз асаби илахьынҵа.
Доусы имоуп ихатәы нцәахәы. Шаҟантә исҳәахьоузеи
сынцәахәы дсыхәеит ҳәа. Арахь Анцәа дыҟоу, дыҟаму ҳәа схы
сазҵаар ишьақәырӷәӷәаны руак сызҳәаӡом.
Иҳәахьеит ҟәыӷак: Анцәа дубаанӡа, дыҟоуп уара узы,
данубалак инаркны наӡаӡа дуцәыӡуеит. Ус анакәха, анцәа
хаҵара хатәы усуп, угәы-уԥсы аҿы иҵәахуп, аӡәгьы имаҳауа,
аӡәгьы изымдыруа. Урҭқәа рыӡбашьа сымч ақәхом, аха
сзықәшәахьоу, исхызгахьоу еихшьаланы саназхәыцлак, еснагь сазкылсуеит акаҿы. Хьаҳәа-ԥаҳәара амамкәа агәра
згартә аԥсҭазаара иснарбеит ишыҟаҵәҟьоу алахьынҵа.
Аԥсуаа иааркьаҿны ирҳәахьеит – улахь иану уақәшәоит,
узахыԥом ҳәа. Аха убри уақәшәарц азыҳәан, иузымдыруа
мчқәак амҩа уқәырҵоит, мамзаргьы иугәанарԥхоит, унапала
иҟауҵартә.
– Изхысҳәаауа, аԥсуа театр азыҳәан спиеса «Ҳашьхақәа
рышәшьыра» наӡаӡа ашә шарку агәра анызга, уаанӡа апиеса ҩыџьа заҵәык иалазгьы, даҽа ҩыџьа аперсонажцәа
налаҵаны, нбанҵакыла еиҭазган, СССР акультура аминистрра
ашҟа исышьҭит. Аӡыкәт ахаҳә агәыдҵа, иаахар бзиоуп, иамаахар – ахаҳә ахаҳәқәа ирыцлоит, аӡыкәт – аҩызцәа ирыцлап.
Абас сышхәыцуаз, иаалырҟьаны Москвантәи аҭел исзасит,
– Шәпиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра» ҳаԥхьеит, иаҳгәаԥхеит,
еиҭазго ҳәа аӡәыр дшәымоума? ҳәа
Сажәабжьқәа ибзианы еиҭазго дсымоуп, ихаҭа шәҟәыҩҩык
иаҳасабалагьы абаҩхатәра бзиа илоуп, аха адраматә
ҩымҭақәа, иахьынӡаздыруа ихаҭагьы имҩыцт, даҽаӡәгьы
иҩымҭакгьы еиҭеимгацт анысҳәа:
– Шәақәшаҳаҭзар, ҳара дҳаԥшаауеит аиҭагаҩ бзиа, –
рҳәеит.
Иаалырҟьаны исоуз агәеизҳара, сгәаҵаҿ ирхәаҽхьаз атеатр абзиабара, анҿыха, акыр шықәса раахыс сзызхәыцуаз
даҽа пиесак, слатәан, аҩра салагеит.
Абаҩхатәра асаби иҩызоуп. Изқәуҵо амҩа ианылоит.
Даҭахуп ан гәакьа.
Иааркьаҿны иуҳәозар, изҩит даҽа пиесак, уаанӡа изҩыз
зынӡаск еиԥшӡамызт, ҵакылагьы, ианымҩаԥысуа аамҭагьы.
Иахьӡуп иара «Ес-ииуа ирыциуа». Схы иасырхәеит ажәлар
рҳәамҭа ду Нарҭаа ражәабжьқәа. Иаазыҩхьаз аҩымҭақәа зегь
реиҳа аџьабаа адбаланы, иахьынӡасылшоз абырцкал икылхны, сгәалақәа наҟ исхаршҭны, спиеса ҿыц сыманы снеит,
ԥшьышықәса аус ахьызухьаз аԥсуа театр ашҟа.
Атеатртә ҟазара уи акәиц сгәаҵа иҭашәеит, ибзиаӡаны
исгәалашәоит, аԥшьбатәи акласс аҟны сантәаз, бзиа избоз
аԥҳәызба раԥхьаӡа данызбаз ахаан дшысхамшҭуа еиԥш,
убас исхамшҭуа наӡаӡа исзаанхеит раԥхьаӡа атеатр анызбаз,
асцена аҟнытә аҿҿаҳәа аԥсышәала ицәажәо, насгьы шаҟа
иԥшӡаны ицәажәоз!
Ҳара ҳҳабла, Аҭара ахәы, ақыҭа агәҭаҟынтәи хә-километрак
иацәыхаран. Ахәыҷқәа ацара-аара рцәуадаҩын. Убри азы
алагарҭатә классқәа рзыҳәан аҳабла аҟны иаартын ашкол, хатәы
ҩнык аҟны. Амаҭәарқәа зегьы, ҳазегь ҳаилартәаны иаҳлырҵон,
Аӡҩыбжьантәи инарышьҭыз арҵаҩы Лиубов Хәыршьыҭиԥҳа Делба. Амаҭәарқәа раамышьҭахьгьы, еиҿкааны илыман
ашәаҳәара-акәашаратә хор. Ашәагьы сҳәон, сагьыкәашон.
Ҳарҵаҩы дҳацәажәон атеатри акинои уҳәа ирызкны.
Ҽнак, ҳаурокқәа инагӡаны ҳалымгакәа, ҳазегьы ҳлыманы
дцеит ақыҭа агәҭахьы, аԥсуа театр ааны иҟоуп, ҳахәаԥшыроуп
ҳәа.
Уажәтәи ақырҭуа-аԥсуатә еибашьраан иҟәыбаса еиларыжьыз акультура аҩны, усҟан, сызлацәажәо ашықәсқәа
раан, усҟак идумызт, амҿы иалхын, асценеи ахәаԥшцәа
ахьтәашаз азал заҵәыки рыда уаҳа ауадақәа амаӡамызт.
Атәарҭа анырзымха, игыланы иахәаԥшуан, избанзар ауаа
рацәаҩны инеит. Ҳара ҳарҵаҩы ҳазегьы раԥхьатәи ариад
аҟны ҳлыртәеит.
Акыр шықәса ҵхьаны Аҟәатәи адраматә театр аҟны, алитература аҟәша еиҳабыс аус анызуаз, иԥшра-сахьагьы, уаҩ
ралагьы, иҟазара уҳәа зегь рыла иуаҩ дуу Леуарса Касланӡиа,
ҳшеицәажәоз ҽнак ус сиазҵааит:
– Леуарса Шьарадын-иԥа, аибашьра анцоз спектакльк
шәыманы шәнеит Аҭара. Шәара инашәыгӡон ахьча ироль.
Исхамшҭуа исзаанхеит, ихьӡ сгәалашәом, аха убраҟа сценак
аҟны шәперсонаж, ахьча иҷкәын анемеццәа дрыцхраауазаап, Аԥсныҟа излацашаз амҩа дирбеит анемеццәа, ачарҳәра
ҟаиҵеит. Иахьеиԥш сыбла ихгылоуп игәыҭшьаагоу аби аԥеи,
аибарԥсра аҟынӡа иназгаз асцена, – анысҳәа:
– Уоо, – ибжьы хаа ду ҩҭиган, – уи аспектакль даараӡа
ақәҿиара аман, раион цыԥхьаӡа иганы идҳарбон. Уаҟа
ихәмаруан, Минадора Зыхәԥҳа, ароль дуқәа нарыгӡон Аазиз
Агрба, Шәарах Ԥачалиа, Миша Ақаҩба уҳәа.
– Леуарса Шьарадын-иԥа, иахьӡыз убри аспектакль? –
снаиазҵааит.
– Уи апиеса иҩит Гьаргь Гәлиа, иахьӡын иара «Афырхаҵа
ишьха» ҳәа. Аспектакль ықәиргылеит Шәарах Ԥачалиа.
Изхысҳәаауа, схәыҷаахыс бзиа избоит атеатртә ҟазара. Сара
сакәым, сабиԥара ишагәҭыхоу ауп исҳәо ажәақәа. Аԥсуа театр,
аԥсуа жәлар рзыҳәан иеиԥшын, иаҳҳәап, асакара иқәхаз, аха
иаалырҟьаны аҵеиџь инахагылаз ауаҩы. Ҳәарада, еиҳараӡак
изыхҟьоз аԥсуа бызшәа азыҳәан ашәқәа зегьы ыҵарбаҟа аркра иахьаҿыз ауп, ақырҭуа фашизм аԥашәқәа иӷәӷәаны иоунажьхьан, аҵыхәтәан, 1992 шықәсазы иахылҵит анацизм.
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, аԥсуа театр аҟны сгәы-сгәаҵәа
ахәра дуқәа шанҵазгьы, изыхҟьақәаз, атеатр анҭыҵ игылоу мчы еиқәаҵәақәак роуп иҟазҵаз ҳәа схы агәра асырган,
изҩыз сыманы снеит аԥсуа театр ашҟа. Уаанӡатәи спиесақәа
ҩба рразҟы аҵкыс акырӡа еицәахеит уажә инагӡаз адрама.
Алитература аҟәша аиҳабгьы, арежиссиор хада, аҩыџьегьы
зынӡаск иамыԥхьаӡакәа идырхынҳәит.
Исҳәо мцызар, шәиазҵаа Баграт Шьынқәба, ҩынтә даԥ
хьеит. Раԥхьаӡа данаԥхьа, азгәаҭақәа ақьаад ианҵаны иси
ҭеит. Шықәсыбжак аус адуланы ианисҭа еиҭах даԥхьаны:
«Уажәшьҭа, иахьаҵәҟьа иганы ирыҭ аԥсуа театр аҿы», – иҳәеит.
Ижәдыруазааит, уаҳа акгьы рамҳәакәа спиеса иаарымхны ирысҭеит, иагьанырҵеит ажурнал «Алашара». Аԥхьаҩцәа
ишрыдыркылаз, асалам шәҟәқәа исоуаз, уажәааигәа афранцыз бызшәахь ишеиҭарго уҳәа, иҩны искьыԥхьит (Уахә.
Сҩымҭақәа реизга аҩбатәи атом ад. 363 – 433).
Даҽазнык иҳәатәуп, хыхь исҳәаз ахшыҩҵак.
Асовет цензура изакәытә мчыз иамаз, спиесақәа рыла мацара акәым, егьырҭ сҩымҭақәа рзыҳәангьы исзырухьаз рҟынтәи,
дарбанызаалак далкааны Аԥсуа театр анапхгара аӡәымзар
аӡәгьы изы исымам ацәымӷра. Ԥсыхәа рымагәышьамызт.
Ргәы иалымсааит, дара раҵкыс, акырӡа еиҳаны амчқәеи
алшарақәеи змаз ауаа дуқәа рымч ақәхомызт, уи иаҩызан
ауаҩы џьаҳаным дҭымҵырц азыҳәан агәашә илагылаз Царбер. Уи иаб дызусҭадаз? Ехидна. Асовет цензура изыхшада?
Владимир Илиа-иԥа Ульианов (Ленин).
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Н. В. Гоголь иҩымҭа ссирӡа «Тарас Бульба» иҟны аб иҷкәын,
ачарҳәаҩ иеиҳәоит: Я тебя породил, я тебя убью! Ҩыџьа ауаа
– аби аԥеи рразҟы иӡбахеит абри ахшыҩҵак ҿаасҭа ала.
Ихшаз инапала дишьит аб. Инарҭбааны уазхәыцыр,
дугәаланаршәоит В. И. Ленин. Иара изыҳәан ибзианы иҳәеит
Искандер Ф. А. : «Абзиара ҟаиҵар иҭахын, аха дахьымӡеит»
ҳәа. Абри ахшыҩҵак санаԥхьа, саҭаимҵааит, схы аҟара ҳаҭыр
зқәысҵо Фазиль игәы иалымсааит, сааԥышәырччеит, инацысҵеит
схазы: Владимир Ильич, ииашаҵәҟьаны абзиара ҟаиҵар иҭахын,
аха аҟаҵашьа издыруамызт». Еиҿикааз аҳәынҭқарра, уаҩықәра
бзиак аҟара ннамҵит, иҟаиҵаз аконституциагьы ицыԥсит,
ишьҭеиҵеит итҟәацшаз акы (цензура 1922). Убри ауп ихзырбгалаз СССР, асовет мчы ахаҭагьы. Убас ихьит, аԥсуаа рҵеи ду
В. Г. Арӡынба. Аиааира дуӡӡа игеит. Аха ахьԥшымра, ахақәиҭра
ажәлар ирыхәартә иҟаҵатәыз дацәыхарахеит. Иара инапхгарала иҟаҵаз аконституциа, ихаҭагьы иԥырхагахеит, иахьагьы
ҳҳәынҭқарра иаԥырхагахо иааиуеит. Плутарх ду иҳәахьан: «Хорошо использовать победу важнее, чем победить».
Зықьҩыла ҳаҷкәынцәа рыԥсҭазаара зыхҭнырҵаз аиааира,
уаҩҵас ҳхы иахьаҳмырхәаз, даҽакала иуҳәозар, ахақәиҭра
раԥхьаӡатәи амш инаркны ииашаз амҩа ҳахьанымлаз
иахҟьаны, аибашьраан иҭахаз раҵкыс, ԥшьынтә- хәынтә
еиҳаны Аԥсны иаԥхеит, ҳиааира зыхьчашаз ҳҵеицәа.
Иаҳзыҟалеит амҳаџьырраҵәҟьа. Ашьыжь ишьацәхныслаз –
шьыбжьаанӡа дшьацәхныслоит. Шьапҿаршә ҳзызуз аусқәа
иахьагьы иаҳԥырхагахо ҳааиуеит.
Иахьынӡаздыруала, ауаатәыҩса рҭоурых аҟны аӡәы заҵәык
иоуп аибашьраангьы, аиааира ашьҭахьгьы, даҽа иааира дуӡӡак
игеит. Аҩбагьы згаз – уи США ашьаҭаркҩы Џьорџь Вашингтон
иоуп. Иҟаиҵаз аконституциа (1787) иахьагьы амч ду амоуп.
Ҳаиҭахынҳәып аԥсуа театр ашҟа. Спиесақәа «Аҳақ ашәа
реи», «Ҳашьхақәа рышәшьыреи» ирылхны иқәыргылаз
аспектакльқәа рысценатә ԥсҭазаара ахькьаҿхаз азыҳәан далкааны аӡәгьы изыҳәан агәала сымам. Иара убасҵәҟьа аӡәгьы
изыҳәан сгәаан сыҟам, сыдрама «Ес-ииуа ирыциуа» зынӡаск
иамыԥхьаӡакәа ирхынҳәны иахьсырҭаз. Ибзиаӡаны издыруеит изыхҟьақәаз, иахьагьы амчқәа змақәоу. Схазы ицәгьамкәа
издыруеит иҳәатәуи иҳәатәыми.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Иԥсаҭа шкәакәахааит, апоет Шьалуа Ҵәыџьба, ишдыру
еиԥш, ажәлар раӷа ҳәа зеижә шықәса дҭакын.
– Шьалуа Леуарсан-иԥа, абасҟак шықәса шәахьҭакыз акыр
шәыҩуазма? ҳәа, – саниазҵаа, сызҵаара даара иџьашьаны
даасҿаԥшит:
– Аҩра аума узҿу? Аҩра амацара акәым, ашәҟәы аԥхьашьа
ҳхашҭуа аҟынӡа ҳнаргеит. Қьаадк сымԥыхьашәар, арацәа ала
уахынла, аӡәгьы иахьимбоз сҽыҵәахны ажәеинраалақәа
зыҩуан. Ҽынла избылуан, исыдырбалар – расстрел. Исылшаз акоуп – исылаз ашәҟәыҩҩра акәиц зынӡаск имыцәартә
еиқәсырхеит.
Изхысҳәаауа, инеизакны ҩажәа шықәса раҟара Аԥсуа театр арепертуар иалоуп ҩба-хԥа спектакль. Ҳарҟәаҵып ахәа
ԥшыҩцәа. Ахадара, арежиссиор хада раԥхьа днаргыланы, рызегьы артистцәа рыбаҩхатәрақәа ацәыргара иаҿуп. Атеатртә
ҟазара бзиа избоз ахәаԥшцәа урҭгьы иаҳа-иаҳа иаҳхашҭуа
ҳаауеит изыхьӡу атеатр.
Аӡы иашьуаз – «Анцәа! Анцәа»,– аниҳәа, – «Анцәа уиҟәа
ҵны унапы ҟьа!» ҳәа, – иеиҳәеит. Аҳәынҭқарра иалшоз аҟа
ҵара иаҿуп ҳтеатр азыҳәан, аха атеатр ахаҭагьы иҵегьы ахы
иахәароуп. Уи аганахьала алшарақәа зегьы ыҟоуп.
Анцәа иџьшьаны, еиқәханы иҳамоуп акультуратә ханқәа
ақалақьқәа рҟынгьы, қыҭақәак рҟынгьы. Ажәакала, аԥсуа театри ажәлари ирыбжьоу ацҳа арыӷәӷәашьа иазхәыцлароуп.
Ишысҳәаз еиԥш, спиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра» СССР
акультура ашҟа нбанҵакыла еиҭаганы ианысышьҭ, аиҭагаҩ
Иули Едлис ианеиҭеига ашьҭахь, ааԥхьара сырҭеит СССР адраматург ҿарацәа рзыҳәан Ермантәыла, ашьхатә курорттә санаториа Дилижан аҟны имҩаԥыргоз асеминар ахь.
Сара сзыҳәан уи ныҳәа духеит. Асеминар анапхгаҩыс
дҳаман, ихатәы бызшәала адагьы, урыс бызшәалагьы иҩуа,
амолдав шәҟәыҩҩы, адрамматург Иан Друце. Даара иҟәышыз
уаҩын. Рыԥсҭазааратә мҩа даара иеиԥшын Фазиль Искандери иареи. Аҩыџьегьы иахьиз, иахьааӡаз рыԥсадгьыл маҷқәа
рҟны, шәмыцхәуп шәаҳԥырхагоуп анырҳәа, инахараны
ианықәырца, нхарҭас-нҵырҭас иалырхит Москва. Уаҟагьы
ауадаҩрақәа ирықәшәеит, аха аҩыџьегьы алшара ду шрымамзгьы СССР кажьны иқәҵны имцеит.
Рыԥсы шҭаз иахаанхеит ажәа ахақәиҭра анаиу аамҭа,
атоталитартә режим ахыбгалара. Ауаҩ ҟәыӷа Иан Друце
иҿцәажәара гәаԥхаран, ԥсабаралагьы даара дуаҩ ҟәыӷан. Спиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра» азыҳәан, хаҭала ҳанеицәажәоз,
иаахтны исеиҳәеит иагәылоуҵаз ахшыҩҵак ду – ԥсы зхоу иарбанызаалак ацәгьара азымура, уи аԥсҭазаараҿы анагӡашьа
амагәышьам. Изныкымкәа дазыхынҳәлон Будда ифилософиа
ашҟа.
Иблала ибахьазаарын ахьы цқьа иалхны иҟаҵоу Будда
ибаҟа. Конфуции иоума, Иисус Христос иоума Маҳамед инаиркны, рызегьы хыхь жәҩанахь иԥшуеит, зегьы зымчу хыхь
дыҟоуп ҳәа, – абарҭқәа дрылацәажәо, асанаториа абаҳча
аҟны ҳшылеиҩеиуаз, дааҭгылан, даанаԥшы-ааԥшын, амҩа
аамҩахыҵ игылаз арымӡ днықәтәан, – иусырбап, ахьы цқьа
иалху ибаҟа аҟны даарԥшуп абас, – иҳәан, ишдыру еиԥш, дарбан драмматургзаалак, иара ихаҭагьы гәаныла дартиступ, избанзар, иперсонажцәа ррольқәа хыла-хшыҩла дыхәмарроуп,
изхысҳәаауа, артист бзиак иеиԥш «инаигӡеит» ибаҟа аҟны
дшаарԥшу Будда. – абас дтәоуп – иҳәан, иарма напы ишьапы
иқәиҵеит, инацәкьарақәа даара иҭынчны, аха ирыдубаалоит
инацәкьарақәа аусура шырҭаху. Еиҳарак акыр зҵазкуа, ифилософиа зегьы аазырԥшуа иарӷьа напы ауп – хыхь, ажәҩан
ахь акәым. Инапы аартны ауаа идирбоит, уи наирԥшуеит ад-
гьыл ашҟа. Араб бызшәала иуҳәозар, џьанаҭгьы џьаҳанымгьы
зегьы ахьыҟоу, шәзықәныҟәо адгьыл аҟны ауп ҳәа.
Даҽазнык ҳанеицәажәоз, изхиҳәааз исгәалашәом, сыб
лақәа икылкааны дрыхәаԥшуа:
– Уара ишԥауҩуеи напыла акәу, амашьынкала акәу? – аҭак
ҟасҵаанӡа иара инациҵеит, – уи даара акраҵанакуеит.
– Иаҵанакуа сазымхәыцыцт, аха аҩра саалагазаргьы ақьаад
ианысҵоит снапала – каламла, ашьҭахь ҩынтә-хынтә, еиҭах напыла иҩны, искьыԥхьуеит аҩыга машьынкала, – сҳәеит.
Угәы-уԥсы иҭоу, ушьа-уда иалаланы, унацәкьарақәа рышҟа
ииасны, унацәкьарақәа рыԥхарра, рцәанырра неиуеит акалам
ашҟа, афбатәи нацәкьысны иузыҟалоит, еимнадоит ухшыҩи
уцәанырреи. Убарҭ шаҟа «еилибакаауа» убасҟак дыбзиахоит
«иухшо» усаби – уҩымҭа.
Иузымдырӡо, рхала рыжәҩа еибыҭаны, унапала иудыр
ҟаҵеит сзыԥхьаз упиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра». Иудыруазар акәхап Будда ифилософиа, аҵла џарџар иаҩызоуп,
амахәҭақәа рацәаны иамоуп. Руак амахәҭақәа роуп изыхшаз
упиеса, – иҳәеит.
– Ишәҳәаз даара ҳазааигәоуп, аԥсуаа ирҳәо ауаҩ бзиа
изыҳәан, ашьац ирҟьыцуам, шышкамск даӷраԥалом ҳәа.
Уи иаанагоит, шәара, аԥсуаа аԥсабара ахәҭак еиԥш
шәаласоуп, шәзыхшаз аԥсабареи шәареи ани-аԥеи реиԥш
шәеибабозаап, убри шәмырӡлан, – иҳәеит ҳсеминар анап
хгаҩы.
Спиеса «Ҳашьхақәа рышәшьыра» ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы
ҳәан ус иҳәеит:
Асовет театрқәа иқәдыргылом ҳәа агәра ганы сыҟам, аха
апиеса ишаҳгәаԥхаз ҳәа ашәҟәы ианҵаны исышьҭуеит СССР
аминистрра акультура аҟны иҟоу аӡыргарҭа аҟәша ашҟа.
Убас иагьыҟалеит, хазы шәҟәны иҭрыжьит Москва. Иҭры
жьит имаҷымкәа СССР атеатрқәа рышҟа ирышьҭит иқәдыр
гыларц. Џьара-џьара театрқәак, арежиссиорцәа иргәаԥхазар
акәхап, аха ақәыргылара аҟынӡа ирызнамгеит арежиссиорцәа.
Сахьаркыратә ҩымҭак аҳасабала, схаҭагьы иадызбалоит агхақәа. Уи аганахьала иԥсыҽуп рҳәар хьаас искуамызт,
аха угәы иалсша зынӡаск даҽакын. Цензарк иаахтны иҩит
абас: Езоп ибызшәала иҩуп. Асовет мчы шьакаҭәарала иааит, убри азыҳәан аԥеиԥш бзиа азыԥшым, анҵра ауам ҳәа
ауп ахәаԥшцәа иреиҳәарц ииҭаху ҳәа автор «Ҳашьхақәа
рышәшьыра».
Ламысла исҳәап, Анцәа дшаҳаҭуп, апиеса шызыҩуаз
зынӡаск сазымхәыцӡеит асовет мчы ааишьа сзызхәыцуаз
зынӡаск даҽакын. Арԥыси аԥҳәызбеи рхатәы ԥсҭазаара
арманшәалара, рынасыԥ, рыбзиабара ламысла иҭәу амҩа
лаша анылара. Даҽакала иуҳәозар, исылшаз ахәыҷала изҩит
аламыс ду арамкақәа ирҭакӡаны. Мап, изҩыз зынӡаск даҽакуп
рҳәеит, ацензура ахьчаҩцәа, – ацерберцәа.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Дыҟан Қьамсыс ҳәа Аҳәбак. Иаабац нхаҩык. Иԥхӡашала
ихы, иҭаацәа ныҟәигон. Дызларцәымӷыз – дбеиан, насгьы
ибзианы, иԥшӡаны иҽеилеиҳәон. Убасҟак ибзианы ашәа
иҳәалон, Константин Ковачи Кондрат Ӡиӡариеи иҭаахьан
иашәаҳәара иазыӡырҩларц, анотақәа ианырҵарц.
Раԥхьа иааимаз зегьы имырхит, амцхә убеиоуп, укулакуп
ҳәа, ашьҭахь зынӡаск дҭаркит.
«Тройка» абандитцәа – абольшевикцәа:
– Аҭаҭын аԥашәқәа аҩада ирханы еиҭоуҳауеит, – ҳәа
ахарадҵара идҵаны.
– Аҭаҭын ахаан еиҭасымҳацт, – иҳәагәышьеит.
– Ҳаужьоит. Еиҭоуҳауан, ахы ларханы еиҭоуҳауан. Ажәлар
ураӷоуп! – рҳәан, ашьра иқәырҵеит. Иуиааиуа, аанда уалаишшуеит. Қьамсыс дкыдҵаны дыршьит.
Асовет цензура спиесақәа «Аҳақ ашәареи», «Ҳашьхақәа
рышәшьыреи» ԥсышьацәгьа ахьрырҭаз мацара акәым, ишалшоз ала рымҩа акит даҽа сҩымҭақәак.
1968 шықәсазы изҩит, шәагаала идуцәам ажәабжь «Ахьча иҳаҭхәыжә». Ԥыҭраамҭак искьыԥхьуамызт. Сиеиԥшхеит
аҵеи дзауз аб қәыԥш. Сиеиԥшхеит даҽакалагьы. Схәыҷы маҷк
изҳаит, снаихәаԥшын дзакәхо шықәсқәак анҵы, даҽаӡәы
иҩызшәа, ишырҳәо еиԥш, хшыҩ хьшәашәала санаԥхьа,
ианызыҩуаз сыззымхәыцқәаз ракәымкәа, зынӡаск даҽакала
«даасацәажәеит» «сысаби».
– Спиесақәа ирзыруз еицәоу узыруеит, уаб дукәыхшоуп,
макьана уҽыҵәахны уҟаз уахьиз аҩнаҭаҿы, – сҳәан, иҵегь
инарҵауланы исҵәахит.
Хышықәса ааҵхьаны, иҭыҵуан сышәҟәык «Ашьхақәа рыл
ԥха» ахьӡҵаны. Уи ианылаз егьырҭ «сыхшарақәа» инары
лаҵаны искьыԥхьит. Ламысла иҳәатәуп, егьырҭ ареспубли
кақәа раҵкыс иаҳа «ауаҩра» алан аԥсуа цензура. Ирымбазшәа
ҟаҵаны иркьыԥхьит.
Аԥсуа литературатә критикцәа, ажәабжь «Ахьча иҳаҭ
хәыжә» иаӷраз агәаҵәа џьоукы зынӡаск ирызгәамҭаӡеит, ма
ирзеилымкааит, аха ибзиаҵәҟьаны еилызкааз ҿырымҭӡеит,
ирҭахымхазар ҟалап ашәҟәыҩҩы дызқәыӡша астатиаеиқәаҵәа – донос анымҵара. Ҳәарада, ирдыруан критикцәак
ирзырухьаз Самсон Ҷанбеи Леонти Лабахәуеи. Рхала, рнапала аԥсуа литература аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәа иҿаҿаӡа, ахаан
ианымҵуа ианылеит. Иџьоушьаша, Самсон Ҷанба, Дырмит ду
диваргыланы зыӡбахә рҳәо, аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы,
аҳәынҭқарратә усзуҩы, ԥсра зқәым асахьаркыратә усумҭақәа
аԥызҵаз, иҩымҭақәа 1986 шықәса раахыс иҭымҵӡацт.
Дкыдҵан дыршьыртә аизараҿы дықәгыланы ицәажәоз, уи
дҭаркыртә аҟаҵара мацара акәым, иааилшоз ала Аԥсны аҭира
иаҿыз, убри ацәгьаҳәаҩ – ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иахӡыӡаауа
том-томла иҭыҵуеит ҳаамҭазгьы. Уаҟагьы иааны игылеит Самсон Ҷанба ду ҳаҭыр иқәымҵара. 120 шықәса анихыҵ зынӡаск
дыҟамызшәа, изыхәҭақәаз дыргәаламшәаӡеит. Изыхҟьақәаз
раԥхьа игылоуп ашәҟәыҩҩцәа ҳаиҩшаны ҳахьыҟоу.
Аҵла аҩара иалагар, дарбану иззымдыруа, аԥашәқәа ишырхароу, аҵла аԥсы ҭаларц азыҳәан ихәышәтәтәуп аԥашәқәа.
Ашәҟәыҩҩцәа зыԥсы ҭоугьы, иԥсхьоугьы, ҳлитература ԥхьа
ҟатәи аԥеиԥш знапы иану аҿарацәагьы, даҽакала иуҳәозар,
ажәытәи ҳаамҭеи, ԥхьаҟатәигьы ирхаршҭны, ашәҟәыҩҩцәа
ҳанеиҩыршоз, ҳкультура зегьы аныс-абыс иҟоу аԥсуа ҩыра,
асахьаркыратә литература абӷашшара ԥырҵәеит. Иззеиӷьда?
Уцнапык анацәкьарақәа раҟароуп иззеиӷьқәоу. Ирхашҭуеит
ҳабацәа ирҳәахьоу: «Ажра зжуа иԥа дҭаҳауеит». Араҟа «аԥа»
ҳәа сызҿу аҩымҭақәа роуп.
Изоуҳәода, изаҳауада?
– Аӡәгьы имаҳауазаргьы, зегьакоуп сашәа сҳәалоит, –
аҳәеит аҟармаҵыс. Сазыхынҳәып зыӡбахә сымаз сажәабжь
«Ахьча иҳаҭхәажә».
Ишысҳәаз еиԥш, шықәсқәак иҵәахны, журналума, газеҭума
џьарагьы ирыдымгалакәа, егьырҭ сажәабжьқәа инарылаҵаны,
сышәҟәы иананыла ашьҭахь, уажәшьҭа ибжьаӡуам сҳәан,
нбанҵакыла еиҭаганы Г. Ковалевич ианизысышьҭ, дацԥыҳәаны
еиҭеигеит, апериодикатә кьыԥхь азҵаара даара ишуадаҩхоз
шидыруазгьы. Ҳҩыџьегьы ҳаицны ҳцеит ажурнал «Дружба
народов» апроза аҟәша еиҳабыз Инна Сергеева лышҟа. Прогрессла ԥхьаҟа ихәыцуаз ԥҳәысын. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны
даԥхьеит. Шәҩыџьегьы ибзиаӡаны ижәдыруеит ари аҩыза

You have read 1 text from Abkhaz-Abaza literature.
Next - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
- Parts
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3297Total number of unique words is 21680.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3320Total number of unique words is 22050.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3316Total number of unique words is 21370.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3287Total number of unique words is 22740.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3310Total number of unique words is 22170.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3312Total number of unique words is 21920.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3344Total number of unique words is 22530.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3343Total number of unique words is 22430.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3376Total number of unique words is 22720.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3361Total number of unique words is 22700.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3391Total number of unique words is 22530.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3305Total number of unique words is 22400.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3306Total number of unique words is 22390.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3344Total number of unique words is 21220.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3341Total number of unique words is 21960.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3317Total number of unique words is 21930.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3387Total number of unique words is 21820.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3341Total number of unique words is 22380.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3344Total number of unique words is 21490.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3317Total number of unique words is 22810.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3324Total number of unique words is 22410.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3363Total number of unique words is 22300.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3382Total number of unique words is 21250.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3392Total number of unique words is 21270.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3405Total number of unique words is 22400.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3292Total number of unique words is 22350.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3317Total number of unique words is 22130.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3332Total number of unique words is 22370.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3332Total number of unique words is 22510.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3299Total number of unique words is 22910.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3267Total number of unique words is 23450.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3318Total number of unique words is 23550.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3308Total number of unique words is 22340.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3318Total number of unique words is 23040.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3386Total number of unique words is 23030.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3299Total number of unique words is 23290.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3306Total number of unique words is 23200.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3363Total number of unique words is 21080.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3361Total number of unique words is 21930.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3410Total number of unique words is 22060.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3336Total number of unique words is 21820.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3265Total number of unique words is 21390.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3370Total number of unique words is 22470.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 3336Total number of unique words is 21470.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.Total number of words is 2585Total number of unique words is 17440.0 of words are in the 2000 most common words0.0 of words are in the 5000 most common words0.0 of words are in the 8000 most common words