Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 23

Total number of words is 3504
Total number of unique words is 1870
0.0 of words are in the 2000 most common words
0.0 of words are in the 5000 most common words
0.0 of words are in the 8000 most common words
Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
– Заҟа шықәса уа сыҟаз узымдырӡои? Нас уаҳа
сазымҳауаз џьушьома? – лҳәеит Марҭа дыччо.
Убасҟан Света лчыс лчанах ианҵаны, лфырџьан лнапала икны, Кәасҭа иаҧхьа дгылан.
– Саҭамзааит Света, бчеиџьыка бнапы иқәыргыланы
саҧхьа бааины бгылоуп. Бахьгылоу бшааҧсо, агәхьаа
ҳамкушәа ахәыҷи сареи ҳаихәмаруеит, – иҳәан илкыз
афырџьан аалымихын, абас аныҳәара дналагеит.
– Анцәа улҧха ҳаҭ. Анцәа абзиара ҳзыҟаҵа. Уаҩыла
азҳара ҳауааит. Анцәа ицәымҕу идырны иҟаҳҵом. Иаҳзымдыруа ҳаҭаимҵааит. Иахьа Марҭа лзы чара хәыҷык аауны, ҳахҩеишьцәа ҳҭаацәеи ҳареи ҳлеилатәаны
аамҭа хәыҷык аагап, ҳазхарагьы ҳаицәажәап ҳәа акәын,
аха ажәаҿы ишырҳәо еиҧш, «еснагь уара иуӡбо анцәа
иуциӡбом», ихаҳмырҧар ҟамлеит, бара быхьӡала иааураны иҟаз ачара хәыҷы. Уаҳа иҽеим уск анцәа ҳақәумыршәан. Макьана ҭаацәала иеибаҳамҳәацт, аха абни
иҧсыз ахәашабга ихаатә фара ашьҭахь харак инаагом. Абрысҟаҟара аамҭа банҳазламга, џьмак сымшьуазар сара суаҩым, – иҳәан абас дныҳәа ныҧхьаны,
афырџьан ижәит. Света лчанах ианыз шәсакгьы ааныхны, дындәылҵит. Марҭагьы лгәы еиқәышьшьы
Кәасҭа дицны дындәылҵит. Света илкыз лчанах ашкаф
инҭалыргылан, афырџьангьы злагылаз аҩызцәа инарылалыргылан Кәасҭеи Марҭеи дрышьҭаланы дындәылҵит.
Марҭа илҭаххеит Кәасҭа дицны Џырраа рахь дцарц,
аха Света илҭахымхар ҳәа дшәан, уахь сцоит ҳәа башахазгьы илҿыҵымшәеит. Аха Марҭа лгәы иҭаз Света
иеилылкаан, даарыцҳалшьан, Кәасҭа имаҳартә, Марҭа
дынлахәыҭхәыҭын, даалацәажәеит:
– Марҭа, ибҭахызар Даду бицны Џырраа рахь бымцо.
– Мама, исҭахуп аха бара бгәы иалсыр ҳәа сшәоит,
– лҳәеит Марҭа. Марҭа Света лзы «мама» анылҳәо
еиҧш, гәаахәа лмоуцызт Света. Уи еснагь илҳәалозар
лҭахын. Кәасҭа Марҭа дицны, Џырраа рахь дцар, Света
дшымгәаауаз анылдыр:
– Даду, зны уаангыли саргьы суццоит, – лҳәан, лаб иашьа иахь лыбжьы налыргеит Марҭа.
– Бааи, баб иашьа Кәасҭа дбыкәыхшоуп, – иҳәан, агәара
агәҭаны дышнеиуаз, дылзыҧшны даангылеит. Марҭа
дыҩны Кәасҭа дыҩихьӡеит, ижәҩа лнапы ааҵылхын,
диваҧало, лҿыналхеит. Агәашә аартны инҭыҵын,
акаҭран мҩа ианыланы рҿынархеит аҩыџьегьы. Дук
мырҵыкәа Кәасҭеи Марҭеи Џырраа ргәашә инадгыле-
ит. Урҭ агәара иқәланы рҿаархеит. Иахьааиуаз, Мина
ацәықәбар дыҵагыланы дырзыҧшуан.
Иааиуа дыжәбоо, ланду длыкәыхшахааит, – лҳәан
Мина днырҧылеит лыҷкәыни лмаҭеи.
Кәасҭа иан даагәыдикылеит, иаха иеидтәалаз дара
ракәмызшәа, еибамбацызшәа. Минеи Кәасҭеи аҧсшәа
анааибырҳәа, Мина Марҭа даагәыдылкылан, днеимда–
ааимда длыгәӡит, «банду дбыкәыхшахааит», – лҳәан. Нас
Кәасҭа Мина длазҵааит:
– Уахатәи ала акгьы шәақәымгәыҕын. Ари илзааигәаз
аӡә дыҧсит. Ҵәыуара ҳамцар ҟалом, – иҳәеит Кәасҭа.
– Дарбану иҧсыз? – дҵааит Мина.
– Аҩн иҟоу лабду иашьа иҧа, Шьатыгә ихьӡуп. Ианааҳаҳаҵәҟьа ҳцон аха, шәызҳаццозар ҳәа акәын, – иҳәеит
Кәасҭа.
– Шәызҳаццозар арбахын, уа ҳшәыцымцар уаҳа
ҳабашәыццои? Днаскьагам, дааскьагам Лиолиа лабду иашьа иҧа иоуп, – лҳәан Мина лгәы иалсны даацәажәеит.
– Шәара аҧсрахьы шәцоит, сара уаха шәара шәышҟа
слеип ҳәа акәын шьҭа санбалеиуеи? – лҳәан дааҕьаҵәы–
ҕьаҵәит Марҭа.
– Уаха иаҳзыҟаҵом, аха иҧсны игҿоу ихаатә анаҳфалак
ашьҭахь, дук аамҭа инаагом, – иҳәан Кәасҭа Марҭа лхы
инапы аақәишьит.
– Ахаатә анбарфои?
– Аҧсы ижәымш ашьҭахь ахаатә рфоит. Уаанӡа хаатәык
ҳзыфом. Уи ашьҭахь, ианаҳҭаху ҽнак, бчара ҟаҳҵоит.
– Аҧсра аҿынтә шәанаалак, ахаатә шәфар ҟамлои?
– Ус иҟалаӡом. Ус ҳҵас иаҵанакӡуам, – лҳәеит Мина.
– Нанду, Кәасҭа ииҳәаз бдыруоу?
– Ииҳәазеи?
– Аџьма бзысшьуеит, иҳәеит!
– Ахьӡара анцәа иуиҭааит, иуҳәазар иушьыроуп, –
лҳәеит Мина.
– Исҳәеит, иагьылзысшьуеит. Ари лзы иҟасымҵара
иҟоузеи? – иҳәан Марҭа даагәыдикылеит.
– Џыргьы Захаргьы ааип, ахәылбыҽхан ҳцап. Уажәы
шәымала шәабацои, шәахьлеиуа иагьҧхашьароупеи,
уаҳа уаҩ дшәымаӡамшәа.
– Аиеи нас. Абри шәасҳәап ҳәа акәын сзааиз. Ҳашәзыҧшуп ахәылбыҽхан. Уахь анеиха сымам аҧсрахьы
сцаанӡа, акы саахап, – иҳәан дцарц иҿынеихеит.
– Маҷк уаатәар акәымзи, уҩны шакәугьы ухаумыршҭааит, – лҳәеит Мина.
– Хатәы ҩны, хатәы мца, – иҳәеит Кәасҭа даахәмаршәа,
нас дааҳәны иҿынеихеит. Марҭагьы Кәасҭа дицны лҿыналхеит. Урҭ иеицны агәашә инҭыҵны ишнеиуаз, Марҭа
Кәасҭа диазҵааит:
– Шәара шәышҟа сцар, иҟалои?
– Акымзарак ҟалом. Бымала бцар, ҳбыцәшәауан ауп.
Амала, Света блазҵаароуп. Уи былзымҵаакәа бцар иашам, ибҭахызар ҳашнеиуа, сара агәашә аҿы сыбзыҧшуеит, бара бнеины блазҵаа. «Бца» лҳәозар бызгоит.
Уаха аҧсрахьы ҳаҟаны ҳанааилак, баазгоит. Уаанӡа уа
быҟазаауеит, – иҳәеит Кәасҭа.
– Ибзиоуп, – лҳәан Марҭа дгәырҕьаҵәа дааҟалеит.
Арҭ аҩыџьа агәара ианынҭыҵ нахыс, аҷҷаҳәа иеицәажәо инеиуан. Марҭа Кәасҭа ижәҩа лнапы аҵхны ишылкыц, илкын. Ус инадгылеит Захар игәашә.
– Бцаны Света илаҳәаны баа, сара ара сыбзыҧшуеит.
– Бзиоуп, уара ара угылаз, сара мама илаҳәаны саауеит.
– Бааиаанӡа ара сгылазуаауеит, бца. Кәасҭа ижәҩа
Марҭа лнапы аҵхны иахьылкыз иаамылхын, дыҩуа
рыҩны шыҟаз лҿыналхеит. Марҭа ашә аартны аҩны
длыҩнаххит. Ашә лшьапы шынахылгаз еиҧшҵәҟьа
«мама» – лҳәан лыбжьы налыргеит, аха аҭак ажәа лмаҳаит.
Даҽа ҩынтә-хынтә раҟара ҿылҭит, аха Марҭа лыбжьы
Света илмаҳаит. «Дабацеишь, аҩны дыҟамкәа», – лҳәан
рыҩны ашьҭахь ала ашә иамаз аалыртын, дындәылҵит.
Дахьындәылҵыз, акраамҭа днаҧшы–ааҧшуа дгылан,
нас лыбжьы налыргеит:
– Мама.
– Ара сыҟоуп, ара… аҭак ааҟалҵеит Света.
– Уа бабаҟоу? – лҳәан Марҭа Света лыбжьы ахьгоз ала
лҿыналхеит. Амандаринаҭра аҵыхәан ахәыл лрашәон
Света.
– Бзиа буит, – лҳәеит Марҭа Света ахәыл ахьылрашәоз,
дшынлыдгылаз еиҧш, дгәырҕьаҵәа.
– Мама, аказы сбыҳәоит мап бымкуазар.
– Иарбан бызсыҳәо, мап скыр ҳәа бзыцәшәои?
– Даду Кәасҭа абна агәашә аҧхьа дгылоуп дысзыҧшны
аҩныҟа сигаразы, бара мап бымкуазар.
– Ҳаргьы аҧсрахьы ҳцоит, ҳанаауа бҳацаап, бца. Сара
мап бцәыскуам, сызкәыхшоу, Марҭа? Уажәраанӡагьы
бнеихьазар акәын, аха дара харацәахеит, бымала бызцом. Ҳара бҳазгом…
– Иҭабуп мама, иҭабуп мап ахьыбымкыз. Марҭа Света дналыдҵын, агәашә аартны дынҭыҵит. Данҭыҵуаз
агәашә аалыркын, Кәасҭа дахьгылаз дыҩны днаидгылеит.
– Мама бца ҳәа салҳәеит, шьҭа уаала. Раҧхьа Кәасҭа
ижәҩа лнапы аҵхны Џырраа рҿынтә дшаауаз еиҧш,
аҷҷаҳәа еицәажәо акаҭран мҩа ианыланы рҿынархеит.
Игәырҕьон Кәасҭагьы Марҭагьы. Избанзар, Кәасҭа
дгәыҕуамызт, иашьа иҧҳа лбызшәа лхамышҭкәа, уи
ала аҷҷаҳәа дцәажәо, ааигәа-сигәа уи дибап ҳәа ҧхыӡ
ибаргьы, башахазгьы игәы иаанагомызт. Марҭа лакәзар
лаби лаб иашьцәеи деиҭанеи-ааиуа ас дрыбжьалап
ҳәа лгәы иаанагомызт. Лара илдыруан, ландуи, лаби,
лаб иашьцәеи, урҭ рыхшаареи гәык ала дшырҭахыз,
аха Света ас дылҭаххап ҳәа дгәыҕуамызт. Егьа умҳәан
уи данҧсамзи. Анҧсацәа шыҟоу дыҟоуп ҳәа ирҳәоны
илаҳахьаз реиҧш, дыҟоуп ҳәа акәын лгәы ишаанагоз.
Света данҧсоуп злауҳәарыз акгьы далаҟамызт. Абарҭ
ракәын Марҭа дзыргәырҕьоз.
Ус Кәасҭеи Марҭеи иеицны ишнеиуаз, Кәасҭа игәашә
инадгылт. Кәасҭа инапы Марҭа иахьылкыз, иааулыжьит.
Кәасҭа агәашә аартны, игәара дынҭалеит. Марҭагьы уи
днаишьҭалеит. Марҭа агәашә аартны агәара данынҭала,
агәашә нкыдҵаны, азарза аихатәы шьаҟа инаҿаршәны
иаалыркит.
Урҭ агәара агәҭаны ишааиуаз, Лиолиа иаагәалҭан,
«иаауа дыжәбоо» ҳәа дааҳәын, аҩныҟа лыбжьы нарганы,
лара лышҟа иааиуаз Марҭа даагәыдылкылеит.
– Ус баазгап ҳәа сгәы иҭамызт, аха иаҳгәиҭаз ҳзыҟамҵеит. Иахьа уаҵәы шаҳҳәоз, аҿҳәара анаҳҭа аҧсра иамуит. Ас баазгап ҳәа сгәы иҭазар, уажәшьҭа иагьараангьы
баазгахьазаарын. «Уигьы ҳахьӡап», – лҳәан лашьҭахьҟа
данааҧш лхәыҷқәа еицрыхәхәа ааира иаҿын. Урҭ зегьы
Марҭа илеигәырҕьаны аҧсшәа ларҳәон.
Аҧсшәақәа анааибырҳәа ашьҭахь, зегьы иеицны
аҩныҟа илеит. Лиолиа иаразнак ала Марҭа лхәы аҟаҵарахь диасит. Лышкаф иҭагылаз афатә атыр-тырҳәа
астол ақәыргылара дналагеит. Лиолиа астол иқәлыргылашаз анықәлыргыла, лхәыҷқәеи Марҭеи иеидкыланы, лыбжьы ааҭганы ҿаалҭит:
– Шәааи, исымаз ала шәхәы сырхиеит, акы шәнацҳап.
Усҟан, Марҭа дназлоу ахәыҷқәа зегьы, амшынҵақәа
ргәаҭара иаҿын, астол иахатәаны. Лиолиа лыбжьы
шаараҳаз еиҧш, иркқәаз наҟ инықәҵаны, амаҵурҭахь
рҿынархеит. Уа иахьнеиз анапырӡәӡәагаҿы, рнапқәа
аарыӡәӡәан, аӡәи-аӡәи иеизыҧшны, астол илахатәеит.
Имццакӡакәа, ҭынч итәаны акрыфара иаҿын. Акрыфара
ианалга, аӡҕабцәа ааицхырааны астол иқәгылаз хазы акы
ианҵаны, иҧхьаркит. Иҭацәыз ачанахқәеи аҵәцақәеи
уҳәа зегьы ӡәӡәаны рҭыҧқәа рҿы иҟаҵаны, уаанӡа дара
зхәаҧшуаз рымшынҵақәа иахьрыхәаҧшуаз инеин,
еиҭа ирыхәаҧшуа иаалагеит. Рымшынҵақәа ианрыҳәаҧш ашьҭахь, альбомқәа аарган, ирыхәаҧшуан. Урҭ
альбомқәа акыраамҭа рыхәаҧшра иаҿын.
Альбомқәа рыхәаҧшра ргәы анҧнаҵәа, ахәмарра иалагеит.
Зны кьаанц ҟарҵон, зны џьит ҟарҵон. Аҵыхәтәан
ампыл асрахь ииасит. Урҭ бзиа ибаны аимҵакьача ихәмаруан. Рыччаҧшь агәара иқәыҩны хара ицон.
Лиолиа ланхәеи лабхәындацәеи уҳәа аҧсрахьы илы-
цныҟәақәоз уажәы иаауеит, уашьҭан иаауеит ҳәа дырзыҧшны дтәан, аха макьана иҟамызт. Аҧсра шыҟалаз
анаалаҳаҵәҟьа дымцашази, аха лымала дызлацарызеи,
уаҩ дызмам леиҧш. Арахь, аҧсра шыҟаз анраҳа, зегь
ныҵҵ–ааҵыҵхьан. Урҭ ааныжьны цашьа лымамызт,
дырзыҧшыр акәын.
Абас Лиолиа дышгәаҟуаз, амш ахәларахь инеит. Убри
аамҭазы, Минеи Захари иеицны агәара инҭалеит. Урҭ
зықәтәаз амашьына агәашә уахьынҭыҵуа, маҷк аҟара
инаскьаганы идыргылеит.
Лиолиа лҽеилаҳәаны дыҟан. Кәасҭа иааиз аниба ауп,
аҽеилаҳәара даналага. Уи Лиолиа маҷк лгәы иалсын, усгьы налҳәеит:
– Ишаауаз умдыруази, уҽеилаҳәаны узыҟамзи?
Иааиз аҩныҟа имнеикәа, Кәасҭа изыҧшны ашьашәыра ҵла аҵаҟа атәарҭа ахьыҟаз, инеины инатәақәеит.
Урҭ уа иеицәажәо иштәаз, дук мырҵыкәа, Кәасҭагьы,
иҽеилаҳәаны, аҩны дааҩныҵит.
– Шәынсырхеит ҳәа сыҟоуп, – иҳәан аҭамзаара
шьҭеиҵеит. Нас днеины, игараж ашә аартны, имашьына дылҭатәан, агәашә дылҭыҵын, Џыр имашьына ахьгылаз ашьҭахь днеин, днагылеит. Изыҧшны итәақәаз
ҩагылан, амашьынақәа ахьгылаз инеит. Нас рҽааҩшаны
амашьынақәа инырҭатәеит.
Амашьынақәа ианырҭала, еишьҭагыланы рҿынархеит,
урҭ рхы пату ақәҵа, рмашьынақәа ныҟәырцон. Убри
аҟнытә, рхаан машәыркгьы иақәымшәацызт. Уажәы,
дара уаанӡа ишырҟазшьаз еиҧш, акәын рмашьынақәа
шныҟәырцоз. Нас иабарҭахыз дара амыцхә аццакра?
Жәаба-жәохә минуҭ аҧхьа илеит, ма уи аҟара иаанхеит ҳәа акыр рнаҭозма? Уи аҵкыс хараӡа еиҕьми,
ашьшьыҳәа иахьнеиша аҭыҧ аҿы инеир. Амашьына
аныҟәцараҿы уаҩы дырҿыҧшратәа иҟан арҭ аҩеишьцәа.
Ишеишьҭагылаз еишьҭагыланы илеит аҧсра ахьыҟаз.
Ишаҧу еиҧш, ара амашьынақәа рацәаны игылан. Урҭ
ирыламхарц азы, еиҳа иахьҭацәыз, еиҳа амашьынақәа
рылҵра ахьымариаз, аҭыҧ аҿы рмашьынақәа ааганы инадыргылеит. Аҧсра ахьыҟаз ҩадараны иҟан,
аҩадара шьапыла иҩаҿалеит. Аҳәсақәа аҧхьа игылоуп,
ахацәа, ашьҭахь. Рыҧсқәа рыгәқәа иркылаханы, ирулак, џьабаала, аҩадара иҩықәнан, агәашә аҿы инеиаанӡа
иаангылеит, рыҧсқәа ааиҭаркырц. Урҭ уа хәбаҟа минуҭ
игылан. Нас еиҭа рҿынархеит. Ус инҭалеит аҧсра
ахьыҟаз агәашә. Аҳәсақәа мҧшӡакәа астол ахьгылаз инавсын, хыхь акәаскьаҿы аҩны ашә ҟьаҟьаӡа иахьаартыз,
инахәаҧшын, уахь рҿынархеит. Кәасҭеи, Захари, Џыри
астол ахьгылаз акраамҭа иадгылан.
Аҵыхәтәан ахылҧақәа рызҭоз дахьгылаз ҿааиҭит:
«Ушьҭа шәлеи, шәыххь згеит».
Ахылҧақәа рызҭоз ас иҳәаанӡа, дара уа игылан.
Уи ас аниҳәа, дара афыр-сырҳәа рхылҧақәа аархыхны, астол инықәҵаны, еиҳабы-еиҵбыла ишрыхәҭаз
еиҧш, еишьҭагыланы, рыхқәа иаарысуа, рҿынархеит.
Убри аамҭазы, Кәасҭа иҭаца Света лашьа Гена дахьгылаз
илаҧш дааҵашәеит. «Аҧсы дҵәуаны сылбаанӡа, Гена
дымцандаз» ааигәахәт Кәасҭа.
Ахҩеишьцәа аҧсы илеихагыланы, рыгәқәа дрылрсны дырҵәуеит. Нас ишахәҭаз еиҧш, еиҳабы еиҵбыла
еибарҧшны, иаақәҵит. Иҵәуаны ианылбаа рчабрақәа
рыблақәа ирыхшьыло, аанда аганқәа рахь инавалан,
акыр рыҧсқәа ааивыргеит. Нас рхылҧақәа ахьықәыз
астол ахь рҿынархеит. Дара уа инеиаанӡа, ахылҧақәа
рызҭоз, рыхҩыкгьы рхылҧақәа ааидикылан, доусы
изтәқәаз рхала иалырхырц аӡәаӡәала инрымпыҵеикит.
Доусы рхылҧақәа рхала иаалырхын, инырхаҵаны, адышшылацәа ахьгылаз ахь рҿынархеит.
– Абрахь ауп, шәхаҵкы сҵеит, – иҳәан ахылҧақәа
рызҭоз, адышшылацәа ахьтәаз ахь инапы нархханы инадирбеит. Дара неины «Сыҧсра жәбандаз» ҳәа аӡәаӡәала
иаарарҳәан, инрыдышшылеит.
– Анцәа шәимшьааит, анцәа шәимшьааит, – рҳәеит
издышшылоз ахьгылаз.
Адышшылацәа ианаарыдҵ, ибжьы аармаҷшәа «Арстәи шәаала» – иҳәан Кәасҭа иашьцәа раҧхьа дгыланы
иҿынеихеит. Иашьцәагьы иара ииҳәаз мап ахымҳәаакәа
рашьеиҳаб дахьцоз, инишьҭалеит.
Кәасҭа Гена дахьгылаз, уаанӡа димбахьази, уажәы днеины днаидгылан, аҧсшәа ааиаиҳәеит. Захаргьы Џыргьы
Кәасҭа Гена аҧсшәа аниеиҳәа ашьҭахь, даргьы неины
Гена аҧсшәа иарҳәеит. Гена идгылақәазгьы, ҩыџьа–
хҩык раҟара аҧсшәақәа нарарҳәеит. Акраамҭа ицәажәо
игылақәаз ирзыӡырҩуа игылан арҭ ахҩеишьцәа. Ус хаҵа
шәпа-жәпак даарыдгылан:
– Абра иазыразны иааз, ҩынтә-хынтә исмырҳәакәа
шәсаҧыс – иҳәеит.
Знык акрыфарахь рҳәандаз ҳәа иҟақәаз, аҳәаха
имҭакәа иниаҧысит.
Ара игыланы иеицәажәақәоз, акыр ианынеилшәшәа–
ааилшәшәа Генагьы даргьы анааизынха, Гена даацәажәан:
– Ҳнеины даҳзымбеит, аха даара ҳгәы иаахәеит,
Марҭа дахьаажәгаз. Аҧсуа шьа ыӡраны иҟам. Шәымбои,
лаҧсуара Аҧсныҟа ишлыхаз, ланҵәҟьа лаҵкыс лыҧсадгьыл шеиҕьалшьаз, – ҳәа ацәажәара даҿын.
– Иаха лара илызкны чара хәыҷык ҳаман Џыр иҿы.
Уаха сара сҿы убас еиҧш иҟаз чара хәыҷык ҟаҳҵап ҳәа
акәын, аха абри аҧсра ҳҧырхагахеит, ихаҳ-мырҧар
амуит.
Абри ахырԥара сгәы иаланы сышцәажәоз исҳәеит:
Уаха иаҳцәахыҧеит, аха иахьцалак, харак имгакәа,
џьмак шьны ишыҟасҵо ҳәа. Ари Марҭа хәыҷы ишлаҳауаз
исҳәеит. Уи исҳәаз насыгӡароуп, хымҧада. Гена ари ара
изцәырызгаз, уашьцәагьы уаргьы шәақәшәар сҭахуп азоуп. Харагьы изгом уи аҿҳәара. Абри иҧсыз ихаатәфара
ашьҭахь, иааиуа ахәаша ҳәа сгәы иҭоуп.
– Ҳашҧамнеиуа, ҳнеиуеит, ахәыҷгьы даабап, џьма
жьыкгьы ҳфап.
Арҭ ара акыр игыланы иеицәажәон. Амра аҭашәарахь
инеит.
– Шәара шәца, сара уаха саангылоит, – лҳәеит Лиолиа, Светеи лареи ааины лабхәындцәеи, лыҧшәмеи,
ланхәеи,лашьа Генеи ахьгылаз ианаарыдгыла. Урҭ Гена
аҧсшәа аареиҳәеит.
– Бзиоуп, бара ишыбҭаху. Ҳара усгьы уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы ҳаауеит…
Арҭ реицәажәара ашьҭахь, Лиолиа дааҳәын, аџьабацәа
рахь лҿыналхеит. Лара даазыцрыҵыз, даҽа маҷк аҟара
игылан.
– Ҳазгылоузеи, ҳшәышьҭы? – лҳәеит Мина.
– Саргьы сцоит, шәаала, – иҳәеит Генагьы.
– Аиеи, ара ҳгылоуп ҳәа ҳабахәарҭоу, – иҳәан Кәасҭа
дзыдгылаз дрыдҵны иҿынеихеит.
Ҭаацәала иеицқәази Генеи уи инаишьҭалеит. Рмашьынақәа ахьгылаз алеира, ианҩеиуаз аҟара иқәымхеит. Ладарамзи, ирласны илбааит. Рмашьынақәа ахьгылаз ианнеи,
Гена аҧсшәа нареиҳәан, иара имашьына ахьгылаз ахь
иҿынеихеит. Убасҟан Кәасҭа Гена иахь ибжьы наиргеит:
– Гена, иуасҳәаз ухаумыршҭын.
– Уи схасыршҭуам, – аҭак ҟаиҵеит Гена.
Излацоз рмашьынақәа инрықәтәан, доусы рымҩақәа
инырнылеит. Урҭ анаауаз еиҧш, рхы пату ақәҵаны,
рмашьынақәа пату рықәҵо ишаауаз, Кәасҭа игәашә иаалагылеит. Амашьына асигнал Захар ианааҟаиҵа, Марҭа
иаалаҳан, иаразнак дыҩны агәашә даалаххит.
– Баала, – иҳәан Захар, иҧҳа лахь ибжьы наиргеит.
Марҭа дааин, дгәырҕьаҵәа амашьына дынҭалеит.
Амашьына аҿыҩанахеит. Света аԥсрахьы данцоз, лхәыҷқәа лгәыла лҿы иаанлыжьит.
Света лхәыҷқәа ахьаанлыжьыз, амҩа аҧхьа акәын иахьынхоз. Уа ианҩеи, Захар имашьына ааникылеит. Света
амашьына длылбаан, лхәыҷқәа ахьаанлыжьыз днеит.
Амашьына абжьы шаараҳаз еиҧш, аҧшәма ҧҳәыс
ахәыҷқәа лыманы Света даалҧылеит.
– Даара иҭабуп, исзыжәуз саҧсахааит, – лҳәеит Света.
– Шәызхыҭабуазеи, уамак бзызузшәа – лҳәеит аҧшә-
маҧҳәысгьы. Света лхәыҷқәа амашьына инақәлыртәан,
ларгьы днақәтәеит.
Аабатәи ахы
Ашкол адиректор Дараҭиа Пас-иҧа ақалақь аҿынтә
дааит. РОНО аҿы аизара рыман.
Аҧсуа шәҟәқәа иҿыцны иҭыҵыз, школцыҧхьаӡа
ирыхәҭаз ҧхьаӡаны, ирызшаны ианалга, РОНО аиҳабы
адиректорцәа иреиҳәеит, доусы ирызшоу арҵага шәҟәқәа ргарц. Зхатә машьынақәа змамз таксила иргар акәын.
Адиректорцәа неин, атаксистцәа ахьаангылоз, агәаран
инагылеит. Згәаран ааиз, атакси иманы РОНО аҧхьа
инаргыланы, ашәҟәқәа иоураны иҟоу аарымхны, атакси
инақәҵаны, доусы рышколқәа рахь ирыманы ицон.
Дараҭиа Пас-иҧа игәаран анааи, раҧхьа иааины иааидгылаз атакси дынҭатәан, иаҧхьа игылаз иҩызцәа
реиҧш, иаргьы РОНО-аа рахь дцеит. Уа дахьнеиз иоураны иҟаз ашәҟәқәа аарымихын, атакси абагаж ашә аартны инақәиҵеит. Иаргьы днеин, атакси дынҭатәан, амҩа
иқәлеит.
Дук мырҵыкәа ашкол агәашә иааины иаалагылеит
ари атакси. Ашкол аҧхьа атакси анаангыла, Дараҭиа
Пас-иҧа атакси длылбаан, ашьҭахь днеины днагылеит,
атакси аныҟәцаҩ иааира дазыҧшны. Атакси ныҟәцаҩ
дааин, абагаж ааиртын, ашәҟәқәа ааҭигеит. Дараҭиа Пасиҧа иаагаҧсахә атакси ныҟәцаҩ инаииҭеит, Гәдоуҭаҟа
ицоз џьоукы уа игылан. Урҭ ари атакси ҭацәушәа анырба иааины, «Гәдоуҭанӡа ҳаугома?» – ҳәа атакси ныҟәцаҩ
инаиарҳәан, уи даназыразха, инеины инақәтәеит. Уи
акәхеит, иманы дцеит.
Дараҭиа Пас-иҧа арҵага шәҟәқәа ааигазшәа анырба,
ҵаҩцәақәак ааины, ашәҟәқәа аашьҭырхын, ирыманы
ашкол ахь рҿынархеит.
– Абиблиотека аиҳабы дцахьазар ҟалап, шәышиашоу
арҵаҩцәа рҭыҧ аҿы иҩажәга. Абиблиотека аиҳабы
уаҵәы даар, акласс анапхгаҩцәеи лареи еицхырааны,
ишаны арҵаҩцәа ирырҭап, – иҳәеит Дараҭиа Пас-иҧа.
Ашәҟәқәа згаз аҵаҩцәа днарышьҭалеит ашкол адиректор.
Уи дахьҩеиз, аҩныҟа имцацкәа итәаз аҵараҟәша аиҳаби,
акласснҭыҵтәи аусқәа реиҿкааҩи ракәын. Арҵаҩцәа зегьы цахьан рыҩныҟақәа рахь. Дараҭиа Пас-иҧа ашәҟә
ҿыцқәа ахьааигаз, арҭ рҩыџьегьы даара ргәы иаахәеит.
Избанзар, аҵаҩцәа ирымақәаз ашәҟәқәа ажәхьан, аӡәы
инапы иакуа иҟамызт.
– Арҭ ашәҟәқәа қәнагала ишаны аҵаҩцәа ираҳҭароуп,
ҳрылабжьароуп, ашәҟәқәа пату шрықәҵатәу раҳҳәароуп,
– иҳәеит, акласси акласснҭыҵтәи аусқәа реиҿкааҩ Кәаӡ
Дауҭ-иҧа.
– Аиаша уҳәеит Кәаӡ Дауҭ-иҧа. Ус иҟауҵароуп. Уара
уоуп зегь реиҳа уи зусу, – иҳәеит аҵараҟәша аиҳабы
Никәала Арзамеҭ-иҧа.
– Ааи, уа уоуп уи зусу, аха ҳара уи ҳазыҧшны ҳазтәарым. Зегьы иаҳусуп ари аус. Зегьы ҳмаҭәарқәа рзы
ишҳалшо ала ҳақәҧароуп ашәҟәқәа пату рықәырҵаратә,
ахәыҷқәа ҳрылабжьароуп, – иҳәеит ашкол адиректор.
– Аиеи, џьушьҭ, уи ҳара иахьа иҳамбеит, иаҳҳәац ауп,
аха уара уахьыҟаз иҟоузеи? – иҳәан дҵааит ашкол аҵараҟәша аиҳабы Никәала Арзамеҭ-иҧа.
– Сара сахьыҟаз даара уамашәа иубаша, аусқәа ирылацәажәон. Блыбааратәи ашкол адиректор ихатәгәаҧхарала акәытқәа аниҵеит. Рҵаҩык кәтыхьчас дҟаиҵеит.
Акәытқәеи акәтаҕьқәеи ҭины, ашкол иагқәоу ҟаиҵарц,
ахыдҵа игеит. Уи ахыдҵа иигаз шынаигӡо ала ажәа риҭеит
аизара иалахәыз зегьы. Ари аизара иалахәын Раикомааи
Обкомааи, аҵара аминистрра аҿынтә рхаҭарнакцәеи.
Урҭ зегьы рықәгыларақәа рҿы, ари адиректор иқәгылара
даара ахәшьара бзиа арҭеит.
Уи еиҿыркааижьҭеи шьҭа шықәсык ҵуан. Шықәсык ала
аихьӡарақәа бзиақәа иҟарҵаз азы, зегь рықәгыларақәа
рҿы, ахәшьара бзиақәа аҭо иахцәажәон. Ари Қарҭаа
ианраҳа, даара ргәы иаахәеит. Абри еиҧш иҟаз алагалазы, Блыбааратәи ашкол акәтыхьча Қырҭтәылатәи
ССР – зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Абри
аус зегьы рхаҿы иааргарц, даргьы ирылшо акы ҟарҵарц
алабжьарақәа ҟарҵон аиҳабыра, – ҳәа ашкол адиректор
дышцәажәоз, дааҩнашылт Џыр.
– Уабаҟаз, Џыр уара иахьа аҵатәхәқәа умаӡамеи?
– иҳәан дҵааит ашкол аҵараҟәша аиҳабы Никәала
Арзамеҭ-иҧа.
– Икәадақәоу ҵаҩцәақәак азыҟасҵон, – иҳәеит Џыр
Иаша-иҧа. Џыр Иаша-иҧа Дараҭиа Пас-иҧа ииҳәаз зегьы иаҳаит арҵаҩцәа рҭыҧ данааҩнала.
– Акәтыхьча «Зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә
хьӡы ирҭама? Иауеи? «Зҽаҧсазтәыз акәтыхьча» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ирҭар, еиҳа еиҕьымзи? – иҳәеит уи.
– Уара зны уаамыццакыни? – иҳәеит Дараҭиа Пас-иҧа.
– Ҳара аус ҳалацәажәоит, уара аҵәы ҳалауҵоит,
уара уеиҧш иҟоу апартиа далаҵатәӡамзт. Зегьы ҳазхәаҧшуа Қырҭтәыла хазына иаӡбаз, уи арҵаҩы дазықәҧоит анагӡара… Арахь ари акоммунист ииҳәо шәаҳауеит, – иҳәеит Кәаӡ Дауҭ-иҧа. Абас иҟоу роуп ҳара
ҳкомпартиа еилазго. Блыбааратәи абжьаратә школ
арҵаҩы иахәҭаҵәҟьаны Қырҭтәылатәи СССР зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ изҭаз рхаҵкы сара сцааит, урҭ
аиашаҵәҟьа ҟарҵеит. Ақырҭуа жәлар дуӡӡа рхаҭарнакцәа
ирҳәо рзымдыруа иҟоума, мамзаргьы?
Абри азҵаара ықәыргыланы ҳаргьы ҳалацәажәароуп.
Акәытқәа ҳзымааӡаргьы, егьырахь иҟаҳҵаша маҷымкәа
иҟоуп, иҟаҳҵар ҳҭахызар. Уажәыҵәҟьа апартиа аизара
ааҟаҵаны ҳаламцәажәар ада ҧсыхәа ҳамаӡам. Акәытқәа
рааӡара ҳаргьы ҳалагоит. Ыы, Блыбааратәи арҵаҩцәа
раҵкыс ҳара ҳаицәома? Угәы ишҧаанагои, аҩыза
Дараҭиа Пас-иҧа?
Дараҭиа Пас-иҧа иахьа аизараҿы сахьыҟаз исаҳаз
ҳәа иҩызцәа рҿы ииҳәаз, даара дахьхәны дыҟан. «Абри
анысҳәоз, сҿы ахы ҭашәарауааз», – иҳәон гәаныла.
Уажәы Кәаӡ Дауҭ-иҧа, уи дидымгылар ада уаҳа ҧсыхәа
имамызт.
– Ибзиоуп Кәаӡ Дауҭ-иҧа. Уара ишуҭаху ауп. Уара уоуп
акласси акласс нҭыҵтәи аусқәа реиҿкааҩ, уара уоуп ашкол
аҿы аиҵбыраӡатәи апартиа амаӡаныҟәгаҩ. Ус анакәха, уара
ухаҭарнаки уареи, шәхала шәааицәажәаны, шәара ишәҭаху
азҵаара ықәшәыргыл, ҽеила иҭҵааны шәалацәажәа, нас
егьырҭ акоммунистцәагьы ирҳәо раҳап.
– Ибзиоуп, Дараҭиа Пас-иҧа иуҳәаз саҳаит сара
абыржәыҵәҟьа, изҩуеит алаҳәара – иҳәан Кәаӡ Дауҭ-иҧа
дызхатәаз астол амгәа ааиртын, қьаад бҕьыцк ааҭигеит.
Иаҧхьа иқәыз иҩыга аақәихын, алаҳәара аҩра дналагеит уи иҩырц ииҭахыз. Иара ииҩыз ақьаад ахьҭихыз,
астол амгәа ааиртыхын, иааҭигеит кәалаҧ хәыҷык. Уи
акәалаҧ хәыҷы акнопкақәа зҭоу ауп. Ҩ-кнопка цырак
ааҭихын, ииҩыз алаҳәара аҭӡамц аҿы икыдыз, афанера
иалхыз «Алаҳәарақәа» ҳәа зныз аҿы инкыдиҵеит. Акнопка наҟ-ааҟ ахқәа рҿы иналаҵаны. Ара итәақәаз ашкол аҵара аҟәша аиҳабы Никәала Арзамет-иҧеи, ашкол
адиректор Дараҭиа Пас-иҧеи инзхәаҧшыз алаҳәара ианын зҵаарак.
«Аҭаҭын афлыҷ цырак ҧхасҭамтәкәа аҭагалара» ҳәа.
(Ажәахәҟаҵаҩ, аиҵбыраӡатәи апартиатә организациа
амаӡаныҟәгаҩ Кәаӡ Дауҭ-иҧа.)
Арҭ аҩ-хацәак назхәаҧшыз алаҳәара зынӡак иргәамҧхеит, ари азҵаара иқәгылоу, аха аиҵбыраӡатәи
апартиатә организациа амаӡаныҟәгаҩ иҩны икыдиҵаз
ажәакгьы рзахымҳәааит иаҧхьаз аҩыџьагьы.
Дара ирҭахы-ирҭахым, уи зҩыз изивамсит.
– Ари икыду алаҳәара шәара ижәбеит, шәаҧхьеит, ибзиангьы ижәдыруеит. Егьырҭ акомунистцәагьы, уаҵәы
иааиуеит, ирбап, иаҧхьап, – иҳәеит иара.
Абас ала, уаҳа ажәак мҳәаӡакәа, инадҵны ицеит
иахәаҧшыз рҩыџьагьы.
Адырҩаҽны ашьыжь, арҵаҩцәа анааи, икыдыз алаҳәара иаҧхьеит. Иаҧхьан ианаалга, «даҽа уск ҳалаижьит» – рҳәеит иаҧхьаз зегьы.
Дара даара ирцәымҕахеит ари аус. Адырҩаҽны аҵатәхәқәа зегьы рышьҭахь арҵаҩцәа рыҩныҟақәа ицеит,
апартиа иалақәаз рыда.
Кәаӡ Дауҭ-иҧа днеин, икыдыз алаҳәара аакыдихын,
иаҧхьа инаганы инықәиҵан, иара астол днахагылеит.
– Аизара ҳалагеит, уажәшьҭа далхтәуп аизара мҩаҧызгаша ахантәаҩы, – иҳәеит иара.
Аӡәы инапы ҩышьҭихит.
– Ажәа умоуп, – иҳәеит ашкол аиҵбыраӡатәи апартиа
амазаныҟәгаҩ знапы иҩахаз иахь днаҧшуа.
– Сара аизара ахантәаҩыс дыҟазар сҭахуп, аҩыза Кәаӡ
Дауҭ-иҧа. Уаҳа аӡәгьы ҿимҭӡеит.
– Ус анакәха, аҩыза Кәаӡ Дауҭ-иҧа иахьатәи ҳаизара
хантәаҩыс дҟалар зҭаху шәнапы шәҩаха, – иҳәеит. Зегьы рнапқәа ирҩахеит.
– Ибзиоуп нас, сара соуп иахьатәи аизара мҩаҧызго,
– иҳәан алаҳәара ааникылан:
– Амаӡаныҟәгаҩ далхтәуп, – иҳәеит иара, акоммунистцәа илаҧш нарыхго. Раҧхьа аизара хантәаҩыс, иара
икандидатура назышьҭыз дахьтәаз, инапы дҩахеит. Уаҳа
аӡәгьы ажәа данамыҳәа, амаӡаныҟәгаҩ икандидатура
аашьҭаразы знапы иҩахаз ажәа ииҭеит.
– Сара аизара маӡаныҟәгаҩыс дыҟазар сҭахуп Дараҭиа
Пас-иҧа, – иҳәан дааҳәны иҭыҧ аҿы длатәеит.
– Шәазыразума? Шәазыразызар, шәнапқәа шәырҩахеи? Аӡәк иеиҧш зегьы рнапқәа ирҩахеит.
Дараҭиа Пас-иҧа аҩыгеи, ҩбаны еимаз қьаад бҕьыцк
аанкыланы, днеины астол днахатәеит.
Ус анкәха, сара соуп ажәахә змоу, шәааӡырҩы сажәахә
салагоит, – иҳәан ацәажәара дналагеит.
– Аҩызцәа, акоммунистцәа шәа ишыжәбо еиҧш, иахьа, ҳаамҭа ҭыҧк аҿы игылом. Иахьа иҟоу уаҵәы иҟам,
уаҵәы иҟоу – уаҵәашьҭахь. Ишыжәбо еиҧш аамҭа
ҧхьаҟа ицоит, ҳара ҳаанымхарц азы, маҷк иадамхаргьы ҳаақәацқәацароуп, иҟоу-иану аабароуп. Шәымбои,
Блыбааратәи арҵаҩцәа иҟарҵаз. Акәытқәа ранҵара
аӡәы иакәӡам изыбзоуроу. Арҵаҩцәа реилазаареи анапхгаҩцәеи роуп изыбзоуроу. Дара акәытқәа ианырҵаз
рыла ашкол иагыз ҟарҵеит. Абуфеҭ уи ала аус ауеит.
Зегьы акәытқәа ҳмааӡар ада ҧсыхәа ҟамло ҳаҟоума?
Даҽа уск аҧшаара уамак аҭахны избом. Уи ала аҧара
рҳаны, акәытқәа ааҳхәоит. Нас ҳаргьы акәытқәа рааӡара
ҳалагоит. Аха уи уашьҭантәи усуп. Уи маӡам, шәаргьы
ижәбоит. Аколнхацәа рымч азхом аҭаҭын афлыҷ аингалара, рымхқәа ирҭоуп, аџьықәреи аҿыхра иаҿуп. Раикомаа
ианаардыр, аколнхацәа аџьықәреи аҿыхрахь макьана
инарышьҭуам. Уи аҵкыс ҳара афлыҷ еидаҳкылоит. Ииашоуп, уи арыҧхра даара иуадаҩуп, аха сара изласыӡбаз
ала еиҳа еиҕьуп, шәеидгылар, иҳалшоит.
– Уара ишҧоуӡбеи? – дҵааит Џыр иҭыҧ аҿы дыштәаз.
– Шәымбои, уажәнатә аҵәы алаҵара дшалагаз, –
иҳәеит ажәахәҟаҵаҩ, Џыр иахь ихы рханы. Џыр уаҳа
ажәакгьы имҳәеит, Кәаӡ Дауҭ-иҧа дналагахт ииҳәоз
иажәахә инацҵаны:
– Еиҳа еиҕьуп афлыҷ змоу амахәқәа аказармақәа рҿы
икнаҳҳар. Уа ирласны иҩауеит.
Ианҩалак, мшык аныцәгьоу инақәыршәаны, иахьыхшьу илылбааганы, абҕьыцқәа ааҿыхны, аиашьықьқәа
ларгыланы, иара уаҵәҟьа илҭаҧсаны, иҟны, иҿаҳҳәоит.
Убри аҽныҵәҟьа амашьына илақәҵаны, аҳәынҭқарра
иалаагалоит.
Шәара шәазхәыц, ахәбатәи акласс инаркны, шәҩык
усура ианҭыҵ, заҟа ҟарҵо. Ҽнак аӡә уаҳа изыҟамҵаргьы,
хкьылак ҟаиҵоит.
Ус анакәха ҽнак ала еиҳа ианеиҵоу, хышә кыла афлыҷ
еидаҳкылоит. Ҩажәамш аус ааур, заҟа кьыла ҟало. Уи
иреиҵаӡоу ахә ала иаҳҧхьаӡар, заҟа мааҭ аҧара ҳауа.
Абри сара абас исыӡбеит. Шәара шәадгылар, ахашәалахә ду ҳауеит. Ҳбуфеҭгьы иазхоит, ҳашкол иагугьы
ҟанаҵоит. Иаҧсоуп шәгәахәозар, акәытқәагьы алааҳхәоит. Раҧхьатәи амшқәа рзы ирызхаша рыхәгьы алаа-
ҳхәоит. Нас дара рхәы дара иаарго, ахашәалахәгьы ҳауа
ҳалагоит. Абри ауп сара ишәасҳәарц исҭахыз, аӡәыр
ишәзеилымкааз ыҟоума?
– Ишәзелымкааз ыҟазар азҵаарақәа сышәҭ, изласылшо ала аҭакқәа шәысҭоит. Азҵаара шәымамзар, ахцәажәарахь ҳаиасуеит, – иҳәеит Кәаӡ Дауҭ-иҧа, азҵаарақәа
ирҭар зынӡак иҭахӡамкәа, итәаз зегьы лаҧшыла иааимидан.
– Абри мчыла аӡәыр иҳадиҵоу, мамзар уара ухала
иуӡбоу? – дҵааит Џыр Иаша-иҧа
– Азҵаара шәымоума анысҳәа, ҿумҭӡеит. Нас ахцәажәарахь ҳаиасит, уажәы уара уааҳәын, азҵаара суҭоит.
Ус акәзаргьы узҵаара аҭак ҟасҵоит. Ҳара ус ҳашьцылеит,
аиҳабыра иҳадрымҵакәа ҳара ҳхала акгьы ҳзыҟамҵо.
Аиҳабыра раҵкыс ҳара ҳаицәоума? Ҳреицәоушәа
ҟаҵаны ҳзыҟоузеи? Абас аҭак ааҟаиҵеит ажәахәҟаҵаҩ
Кәаӡ Дауҭ-иҧа.
– Сынтәантәарак ахәыҷқәа ҳаманы аҳәысҭақәа ҳархуп, аиҳабыра адҵа иҳарҭаз ала. Аиҳабыра ргәы иаахәо
ҟаҳҵоит ҳәа уажәы, ҳара ҳхала ҳашҧалагои, аҭаҭын
афлыҷ аҿыхра? Ианбыкәыз афлыҷ анҿаҳххьаз. Уи зыҿҳархуа рҭаацәа ирҳәои? Рҭаацәа ргәы иаанагари? Арҭ
азҵаарақәа зныкыр уара урызхәыцхьоу? – иҳәеит
Дараҭиа Пас-иҧа дахьтәаз иҽизнымкылакәа.
– Аҭаацәара ара усс ирымеи? Урҭ аус ахьрымоу
рхәыҷқәа рыҩны ианыҟоу ауп. Уа дара ишырҭаху рхәыҷқәа ирхылаҧшлааит. Ҳара ҳусс ирылоузеи? Аха ари
ашкол аҿы, абарҭ зегьы зусу, ҳара арҵаҩцәа ҳауп. Ҳара
зегьы ҳаҵкыс, раҧхьа иргыланы, аҭакҧхықәра зду ашкол адиректор иоуп, аха уара еиҿукаауа акәым, аӡәы акы
еиҿыскаауеит ҳәа далагаргьы, уиҧырхагахоит.
– Ус умҳәан, ус. Ҳара ҳдиректор макьана аӡәы диҧырхагаханы, ҳара дҳамбаӡацт. Иара ицхыраара ду зегьы
ирыдуп. Уи дырны пату иқәзымҵо ҳәа ҳара аӡәгьы дҳаздырӡуам, уара уакәымзар. Ииашамкәа, дарбанзаалак,
аӡәгьы диҿамгылацт, – иҳәеит коммунистк дахьтәаз.
– Шәара шәышхәыцуа акәӡам ахәыцра шаҭаху. Политикалоуп ахәыцра шаҭаху, аха рыцҳарас иҟалаз,
аполитика шәашьҭам, ма ишәзелкаауам. Аполитика
иашьҭоу, иеилызкаауа иоуп зегьы пату зқәырҵо, ауаагьы пату рықәызҵо. Шьҭа ҳазҵаарақәа ҳарҟәаҵны,
ҳаиасып ахцәажәарахь. Шәахцәажәа изҭаху. Амала,
Қырҭтәыла аҭаҭын иаланагалаз азхоит, уаҳа аҭахӡам
шәымҳәан, ҧхашьароуп, ус шәҳәар, – иҳәан Кәаӡ Дауҭиҧа изҵаарақәа дрыцәшәаны, азҵаарақәа ирҟәаҵырц
нарабжьаиган, ахцәажәарахь диасит. Уа ирҳәашаз ҳәа
ахшыҩ дырҵаны амҩа инықәиҵан, даацәажәахт.
– Изҭахыда, иахцәажәарц?
– Азҵаарақәа иҟарҵақәаз рыла ҳара иаабоит аҭаҭын
афлыҷқәа реингалара аӡәгьы ишиҭахым, нас уара уааҟәымҵӡакәа, убри узахьынҳалазеи? «Афлыҷ ҿышәх»
ҳәа аӡәгьы имҳәаӡеит. Насгьы уара иудыруазар ухәҭоуп
ахәыҷқәа аплангьы шрықәу, – иҳәеит коммунистк дахьтәаз.
Уаҳа акыр зҳәар зҭаху аӡәыр шәыҟоума? Ус аӡәгьы
шәыҟамзар, анапышьҭыхра ҟаҳҵап, – иҳәан иҽааирҕәҕәеит Кәаӡ Дауҭ-иҧа.
– Сшәыҳәоит, сара ажәалагала иҟасҵаз иадгыло
шәнапқәа шәырҩахарц, – иҳәан иара инапгьы дҩахеит,
аха иара аӡәгьы дидымгылеит. Зегьы дынрылаҧш-аарылаҧшит, инапы шьҭыхны ишикыз. Иара ида аӡәгьы инапы шьҭимхуашәа аниба, дгәааит. «Шәхантәаҩра шәара
ишәымаз. Сара уаҳа арахь сыжәбом, – иҳәан дымтәаӡакәа
ишәҟәқәа аашьҭихын, ашә агәараҳәа, инкыдыжьланы,
дындәылҵны дцеит.
– Ари даҳзымашшуазар жәбап, – иҳәеит Дараҭиа Пас–
иҧа, Кәаӡ Дауҭ-иҧа дгәааны данца ашьҭахь.
– Дашшып, аха нас дабацои? Аусура даҟәыҵуама? –
иҳәеит Џыр иҧсахы ҧыжәжәо.
– Имур иқыҭа зегьы адгаланы, аизара ҟаҳҵап. Ас
ҳара ҳхәыҷқәа ҳзымааӡеит. Қарҭаа ҳрыцәшәару, Аҟәаа
ҳрыцәшәару, Гәдоуҭаа ҳрыцәшәару? Ҳара ҳзыцәшәо
ҳзымдыруа, ажьеиҧш зегьы ҳрыцәшәо ҳаҟоуп. Урҭ зегьы ҳарҟәаҵып, уажәшьҭа ҳахгьы ҳацәшәо ҳалагеит, –
иҳәеит даҽа коммунистк дҩагылан. Зегьы ахьтәаз «ауу»
ааилдыргеит. «Уаҳа аҭаҭын ашҟа ҳазнеиуам, ҳҵаҩцәа
ҳзыҧхасҭатәуам, ҳаргьы ҳахқәа ҳзыҧхасҭатәуам». Зегьы
ахьтәаз рыгәқәа ҧыжәжәо, ргәалақәа рҳәон.
You have read 1 text from Abkhaz-Abaza literature.
Next - Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
  • Parts
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Total number of words is 3616
    Total number of unique words is 1944
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Total number of words is 3620
    Total number of unique words is 1841
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Total number of words is 3607
    Total number of unique words is 1900
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Total number of words is 3647
    Total number of unique words is 1960
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Total number of words is 3601
    Total number of unique words is 2010
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Total number of words is 3561
    Total number of unique words is 1880
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Total number of words is 3536
    Total number of unique words is 1919
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Total number of words is 3499
    Total number of unique words is 1837
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Total number of words is 3531
    Total number of unique words is 1792
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Total number of words is 3534
    Total number of unique words is 1927
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Total number of words is 3529
    Total number of unique words is 1942
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Total number of words is 3495
    Total number of unique words is 2029
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Total number of words is 3468
    Total number of unique words is 1764
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Total number of words is 3469
    Total number of unique words is 1874
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Total number of words is 3534
    Total number of unique words is 1817
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Total number of words is 3505
    Total number of unique words is 1880
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Total number of words is 3589
    Total number of unique words is 1915
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Total number of words is 3513
    Total number of unique words is 1846
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Total number of words is 3596
    Total number of unique words is 2039
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Total number of words is 3470
    Total number of unique words is 1915
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Total number of words is 3462
    Total number of unique words is 2017
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Total number of words is 3535
    Total number of unique words is 1917
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Total number of words is 3504
    Total number of unique words is 1870
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Total number of words is 3559
    Total number of unique words is 1937
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Total number of words is 3589
    Total number of unique words is 1892
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Total number of words is 3502
    Total number of unique words is 1894
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Total number of words is 3585
    Total number of unique words is 1881
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Total number of words is 3579
    Total number of unique words is 1970
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Total number of words is 3591
    Total number of unique words is 1902
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Total number of words is 3619
    Total number of unique words is 1863
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Total number of words is 3527
    Total number of unique words is 1924
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Total number of words is 3591
    Total number of unique words is 1994
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Total number of words is 3523
    Total number of unique words is 1937
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Total number of words is 3477
    Total number of unique words is 1923
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Total number of words is 3533
    Total number of unique words is 1780
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Total number of words is 3455
    Total number of unique words is 1920
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Total number of words is 3453
    Total number of unique words is 1994
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Total number of words is 3455
    Total number of unique words is 2051
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Total number of words is 3456
    Total number of unique words is 2056
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Total number of words is 3480
    Total number of unique words is 1999
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Total number of words is 3545
    Total number of unique words is 1986
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Total number of words is 3551
    Total number of unique words is 2061
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Total number of words is 3528
    Total number of unique words is 1968
    0.0 of words are in the 2000 most common words
    0.0 of words are in the 5000 most common words
    0.0 of words are in the 8000 most common words
    Each bar represents the percentage of words per 1000 most common words.
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Total number of words is 3268
    Total number of unique words is 1833