LatinJede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.
Камаҷыҷ - 11
Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3579
Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 2007
0.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern
0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern
0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
иҳалшом, иаҳзыҟаҵом ҳәа игәыӷьны аӡәы имҳәароуп,
мап анакәха, астражникцәа аасышьҭыр, мчыла ашәахтә
шәдыршәап, амҩагьы шәдырҟаҵап, — иҳәеит.
Нас ахылаԥшҩы сусқәа срылгеит, иҳәан, ахьаҳәхьачара
дналагеит, ҭауади-аамсҭеигьы наихәаԥшит рыҩныҟа
дыргаразы, иаргьы абри акәын ииҭахыз.
Убри аамҭазы Алиас, дахьгылаз ахылаԥшҩы иахь ихы
наирхан:
— Ажәлар рахьтә жәа еиҭаҳәатәык сымоуп, суҳәоит
уаасзыӡырҩразы: Очамчырагьы угәахы ԥаҳҵәахьеит
ҳашшрақәа рыла, абри аӷьычреи арҳәрақәеи рҵыхәала,
иахьагьы убриазы мацара уааз џьаҳшьон, аха уара ухала ианумҳәа, ҳара иугәалаҳаршәароуп, ачымазаҩ дзынхьаауа имҳәар, аҳақьым дызлеихәшәтәуазеи, убри
иаҩызоуп, ҳара ҳзыргәаҟуа уаҳҳәароуп, ҳгәыӷуеит нас
уара уи иақәнаго ҳазныҟәугоит ҳәа. Уи закәу убриоуп
— абри аӷьычра мыжда, нас абрагьра, арҳәрақәа уҳәа.
Аӷьычцәа ҳақәырхит, ҳаимырҵәеит, мцаԥха ҳзамыҭәҳәо
ҳҟарҵеит. Арҳәцәа ракәзар, аҽнышьыбжьон ауаа рҳәаҭҳа
рхыхны ирцәыргоит, ажәлар дыргәаҟит, — иҳәеит.
— Абри Алиас ииҳәаз ажәлар зегьы ҳзыргәамҵуа усуп,
абри ԥсыхәак ҳзазууроуп, мап анакәхагьы, урҭ ҳшеи
мырҵәо удыруазааит! — иҳәеит Ӡыкәыр дахьгылаз.
— Ааи, уажәы ахылаԥшҩы абра дааны шәара Ҷалиааи
Цагәааи шәырахә рыхьчара далагоит, ус сҳәап, аха, шәы
ҟазааит! — иҳәеит Мырзаҟан дахьгылаз.
Егьырҭ ҭауади-аамсҭеи уа игылақәазгьы уи иааиц
дырӷызит. Анхацәа рахьтәгьы уа ашьҭахьшәа игылаз
џьоукы рыбжьы ныҵакшәа: — Изышәымҳәозеи, дадраа,
шәара ишәымӡозар, аӷьычцәа шәара акгьы шәцәырӡом,
— рҳәеит.
Нас анхацәа зегьы иааицҿакны:
— Урҭ рхала ирымҳәеит, уи ажәа, ҳара зегьы иҳажәоуп,
ус ахылаԥшҩы иарҳәаразы рнапы ианаҳҵеит, — рҳәеит.
Убри аамҭазы ахылаԥшҩы даацәажәеит:
— Абрагьцәа рзы абри еиԥш аус шьҭыхны иҳамоуп,
иаҳкыроуп абрагьцәа зхала икылымсыз, ма иаҳшьыроуп.
Абрагь дызҵәахыз, дыздызкылаз уи дҳарӡроуп, ахгара иқәуп. Абрагь дзеиуоу ақыҭа дыкны дҳарҭароуп, мап
анакәха, «екзекуциа»40 рзыҟаҳҵоит. Абри дҳарҭаанӡа
уи ақыҭа ҳалҵуам, рыцәқәа, рыжәқәа шьуа, уаҟа ҳала
зароуп.
Абри ажәа аниҳәа, игылаз анхацәа рахьтә џьоукы рыбжьы аадыргеит иныҵакшәа: «Абрагьцәа ҳара иҳазкуазар,
иҳазкылгозар, нас иара иҿы ҳзашшуаз», — ҳәа.
— Урҭ абрагьцәа рзы абас ҳныҟәароуп, уажәы аӷьыч
раҳәа ишәҳәаз азы. Ԥшьба-хәба шықәса рнаҩс иш
шәымаз еиԥш ахьнысҭиара41 ҟашәҵа, аӡәы еиҳабыс хыс
дынрыҭаны, нас кыҭацыԥхьаӡа жәаҩык-жәаҩык раҟара
аҩызцәа, арԥар еилҟьацәа наишәҭар, арахә иаргамоуи имаӡарахуи еилдыргап. Ақыҭақәа амҩакра ҟашәҵа.
Амҩа шәкла, уахынла-ҽынла зҳәаз иеиԥш, абилеҭ змам
дшәаҩшәмыжьлан, дзықәтәоу аҽы ашәҟәы ацымзар —
имшәх, ажәакала, 4–5 шықәса рнаҩс ахьнысҭиара ишәы
маз еиԥш ҟашәҵа, — ҳәа нареиҳәан, днарылҵны дцеит
ахылаԥшҩы.
Уи акәхеит, ҭауади-аамсҭеи дрыманы ауха Мырзаҟан
иаҳҭныҟа ицеит. Уаҟа заанаҵ ифатә дырхиахьан. Арҭ ирдыруазаап ахылаԥшҩы ауха дшымцоз, ҩыжәра дшааз.
Ажәлар иаанхаз ԥыҭрак еимымҵкәа игылан, — Абри
ахылаԥшҩы абрагьцәа рыкразы аекзекуциа ҟаҳҵоит ззи
ҳәаз акәацфареи аҩыжәреи игәаԥхазар акәхап, — рҳәеит
џьоукы. — Избан уҳәар ҳара ҳажәқәа, ҳацәқәа рыц
ҳашьаны, абрагь дкылсны ихы дҭаиркуама, уажәы иҳа
Екзекуциа (азакәациа) — алаҭин бызшәала «анагӡара» ауп
иаанаго. Ароман аҿы ари ажәа иаанаго анхацәа аиҳабыра ирҳәо
иаҿагылаз ма иназмыгӡаз аказақцәа рыжәҵаны рахьырхәра ауп.Ахьнысҭиара — аӷьычра иаргәаҟыз анхацәа аамҭала, аԥара
рыҭаны ахьнысҭиацәа ҳәа арԥарцәа ӷәӷәақәа алырхуан, ирыманы амҩақәа рҿы итәон, қыҭацыԥхьаӡа арахә еизырцон џьара
маӡарахк ҳбозар ҳәа, ароман излаҳәо ала, анхацәа ирласны еилыркааит ахьнысҭиацәа рыла аӷьычра ишазымиааиуаз, иагьаҟәыҵит
ахьнысҭиара.
мбеит абри захьӡу, иааизаны ҭауади-аамсҭеи ирцәымӷу
нхацәақәак ганы инҭаркуеит, рыжәқәа, рыцәқәа еимҵәа
иргоит, абрагь ииуц иуеит.
— Ахьнысҭиара ҳәа ииҳәаз, уи ҳара иҳахәарҭоу усым.
Ахьнысҭиацәа ҳәа иалаҳхуа, урҭ реиҳабы днарылаҵаны
аԥара раҳҭалароуп, амҩагьы ҳара иаҳклароуп.
Аӷьычрагьы урҭ иахьдыртәо егьыҟам, ацәыӡ шҳаулац
иҳаулашт, уи уажәы иҳамбеит.
Убри аизараҿы игылаз, абарҭ ражәа иазыӡырҩуаз Кадыр даацәажәан:
—Ахьнысҭиара анҳамаз зны мҩакра уцароуп, аӷьычцәа
мҩоумыжьроуп, рҳәан, сцеит, ауха сара мҩакра сышцаз,
сышьҭахь сыҩны уаҩ дшыҟамыз здыруаз аӡәы, сыцәқәа
уӷәк нҭганы игеит, мчыбжьык-ҩымчыбжьа рышьҭахь
иаасыдгылт, ахьнысҭиацәа рзы аԥара ушәароуп ҳәа.
Уаҟа ивагылаз аӡәы даацәажәан: — Аӷьычра арцәаразы
аԥара зуҭаз ахьнысҭиа иакәхап уцәқәа зӡаз, — иҳәеит.
Ари заҳаз, уаҟа игылақәаз, зегьы ааибарччеит.
— Саргьы ииашаны убри гәҩарас исымоуп, — иҳәеит
Кадыр, убасгьы нациҵеит: — Уажәы еиҭаҟалар ахьныс
ҭиара, аԥарагьы сыршәаны, амҩагьы сыркны, иаанхаз
сырахәгьы рӡар ҳәа сшәоит, — иҳәеит.
Кадыр ииҳәаз заҳаз, иҵабыргыҵәҟьоуп, рҳәан, уи
инақәшаҳаҭхеит.
Нас уаҟа иааилацәажәеит ирласны ашәахтәқәа шаларгалашаз, аха амҩазы уажәы ҭагалан иаҳзыҟаҵом,
иара ахылаԥшҩы ишиаҳаз еиԥш, астражникцәа аашьҭны
мчыла иҳаимырҟаҵозар, рҳәан, ажәлар ықәҵны ицеит.
Ажәлар рышьҭахьҟа ихынҳәны гәыԥ-гәыԥла амҩа
иқәны рыҩныҟа иахьцоз ажәаны ирҳәон: «иахьа ахы
лаԥшҩы ҳара иаҳзеиӷьыз ус ҳәа акгьы ҳзыҟаимҵеит,
аӷьычцәеи абрагьцәеи рзы ажәақәак ииҳәазгьы ҳара
мчыла иҳарҳәаз ажәоуп, рҳәеит, уи дыззааз ҩыжәроуп,
рҳәахт џьоукгьы.
Сакәыт даацәажәан:
— Абри Мырзаҟан Алиас игәаӷ имоуп ҳәа сыҟоуп, —
иҳәеит.
— Иахьа убра иҩызцәа ҭауади-аамсҭеи дахьрылагылаз, ажәаны иҳәоны исаҳаит: — Абри «револиуциа»42
ҟалеит рҳәоижьҭеи анхацәа ӷәӷәала ицәажәо иалагеит. Егьырҭ зегьы урҟәаҵ абри Алиасҵәҟьагьы ԥсыхәак
имам, уирцәажәом; абри Леуангьы урҭ ирҭаху ауп
дзышьҭоу, ахылаԥшцәагьы изыӡырҩуеит, удыруоу! Убас
ахылаԥшцәа анхацәа ирзыӡырҩуа иалагар, аусқәа ҽеи
хом, — ҳәа... Изуцәызӡозеи, аиҳарак уи уаҟа иреиҳәоз уа
ра уҿы аурыс иҟоу — Иван иҭыӡшәа акәын, уи дсоциалис
туп, Алиас дҵәахны димоуп, ешьас ҳәа днарбашәа.
Аамҭак шибалак, ҳара дҳажәиҵарц игәы иҭоуп ҳәа. Убри
иҭыӡшәа даҽаџьарагьы ирҳәоны исаҳахьеит, хәыҷык
игәиҽанызароуп, уимоу, уаргьы ак уцрарымҳәааит,
аамҭа хәыҷык ихьанҭашәа иҟалеит, — иҳәеит.
Абри еиԥш ажәа иаҳаз Алиас даараӡа иааицәымыӷхеит,
даарагьы даархәыцит.
— Ҭауади-аамсҭеи дара ирықәшаҳаҭым, ирымазкуа
аӡәгьы дырҭахым, — иҳәеит уа ирылагыланы инеиуаз
Шьмафгьы.
Алиас дназлаз агәыԥгьы, амҩа иахьықәыз, ажәабжьқәа
рҳәон, рымҩа аркьаҿразы. Алиас даацәажәан: — Даара
дуаҩыцәгьоуп абри Мырзаҟан, анцәа иџьшьоуп, уи ҳқы
ҭа дахьалам. Уажә аакьыскьа Мырзаҟан наделс ирҭаз
адгьыл аҿы, Мыса абнаршәыраҿы ҵлақәак абнашьха
шырҭаз ибан, днықәлан, аҵлақәа рҿышәҭа хәыҷык ин
ҭаԥҟашәа, ацха ҭыхны игеит. Ари Мырзаҟан иаҳаит.
Мыса дааиԥхьан: сыҵлақәа зурҩазеи, сышьхақәа зхишьаазеи, сыцха зугазеи?.. — иҳәан, дааисны дикит. Мыса
мап изымкит, бнышьхақәак абнаҿы ибаны, цха хәыҷык
Ареволиуциа — араҟа актәи аурыс револиуциа (1905) аӡбахә
ауп ирымоу.
рымысхызар, иҟалозеи! Насгьы аџьқәа рхыцәқәақәа
рҿоуп хәыҷык иахьҭаԥысҟа, уи сақәумырӡын, иҳәеит.
— Абнаҿы аӡәы уибар, дааусны урҳәны, иумоу уцәи
гар, ишԥоубои? Убасоуп сышьхақәа ушрызныҟәа. Нас
гьы сыҵлақәа ишырзууз еиԥш, аӡәы хәыҷык ухы нҭа
ԥиҟар, ишԥоубои? Убарҭқәа зегьы ҳарҟәаҵып, заҟа
шьхац ҭоурхаз удыруама? — иҳәеит Мырзаҟан. — Абри
ашьхыцқәа зыԥхьаӡо ауаҩ, абри аус сақәирӡуеит, убуоу!
— иҳәан Мыса, цәы бзиак иманы диҭаан, аарлаҳәа ихы
ҿихит, — иҳәеит Алиас.
— Ихы ҿих џьишьоит, уи макьана дабаҟоу, ари
аҵыхәала егьарааны ихы ҿыхтәыс иоуп, — рҳәеит
џьоукых.
— Мысагьы уаҩы гьангьашк иакәын, аха уи Мырзаҟан
иҿы илшагәышьоз, — рҳәеит инеиқәыӷызны егьырҭгьы.
Ус ишеицәажәоз, рыҩнқәа рааигәара ианнеи, инеи
црыҵын, дасу рыҩнқәа рахь ицеит. Аха абраҟа еицыз
зегь реиҳа агәала ду иманы дхынҳәит Алиас.
XXX
ИВАН АЛИАС ИАХЬТӘ ДЫМЦАР ЗЫҞАМЛЕИТ
Аамҭа гьежьуеит, ихынҳәуеит, уара наҟ уацымны
ҟәар, уҽанумраалар, арахь иара аҽунарнаалом.
Иахьа иҟоу уаҵәы иҟам, уимоу, сааҭла, минуҭла аҽеи
ҭанакуеит, аҽаԥсахуеит.
Хышықәса, ԥшьышықәса раԥхьа Алиас Иван ешьас
дҟаиҵар ҟалон, ешьара рзеибауны иныҟәибагар ҟалон.
Аха уиижьҭеи аамҭа кыр иудырратәы аҽаԥсахзаап: Иван
мыцхәы длаԥшықәырҵо иалагеит, уимоу, убриаҟара
иаадрыӷәӷәеит, Иван уаҳа дзаанҿасуам Алиас иҿы, ареволиуциа иаҵанакуа аусқәа идрыԥхьаӡало иалагеит.
Абри еиԥшқәа рзы иаргьы дыкны дҭаркыр ҟалоит, Алиасгьы — иара убас.
Ари еиԥш наҟ-ааҟгьы ирцәыхьанҭоуп, ԥсрак-шьрак
еиԥш ирԥхьаӡоит, аха аамҭа ус иҟалеит, зназы инеи
ԥырымҵыр, ԥсыхәак аманы изыҟамлеит. Насгьы наҟнаҟ аамҭа ишыднарбо ала иныҟәап.
Мшаҽны Алиас ешьас дҟаҵаны идикылоз имырҳау
ҳаукәа кампаниа хәыҷык шыҟарҵаз еиԥш, иахьагьы убас
иҟарҵеит. Аха арҭ акампаниақәа злеиԥшым — ԥасатәи
акампаниаан, гәырӷьаран, ччаран; уажәы ус иҟам: зегьы рылахь еиқәуп, маӡала иныҵакшәа иҵәыуақәогьы
ыҟоуп. Дара зыҩны ддәылҵны дцо реиԥшҵәҟьа гәала
дус ирымоуп Алиас игәылацәа — Ҭорҟан, Қәаблыхә, Мац
уҳәа —ишынҭаацәоу, аха иркузеи, абраҟа егьрылшом,
егьрызҳәом: ацәгьаҳәацәа рацәаҩхаӡеит,ахылаԥшцәагьы
рлымҳа изкыдырҵеит.
Абраҟа Алиас даацәажәан:
—Дад,Иван,аусқәа убас иҟалеит,иахьа ҳара ҳааныжьны,
уҳалҵны умцар ҟамло, — иҳәеит, Иван диҿаԥшуа, —
уи сҳәеит ҳәа, уи аамҭала акәхап, даара сгәыӷуеит, дук
мырҵыкәа иаарласны абрахь ҳара ҳахь, уҩныҟа, угьежьып ҳәа, аха уажәазы ҳнеицәыхарамзар ԥсыхәа амоут, ишубо еиԥш. Абри ахышықәса-аԥшьышықәса даара уџьабаа ду адуҵеит ҳанхара: арахә уааӡеит, аӡахәа
ықәуҵеит, ауҭра бзиа, убас абаҳча уҳәа абраҟа иҟоуҵеит,
абарҭ зегьы иахьа абраҟа иҳазныжьны уара уцоит, аха
уи иахьӡым урҭ иахьарнахыс уара урылҵит, уара узы
урҭ ӡык-ԥсык иаҩызоуп ҳәа. Мап, урҭ зегьы абра уҩны
иҟоуп, абраҟа уашьа Алиас дырхылаԥшуеит, мчымхарак имыхьыр, урҭ зегььн еиҵеиааӡап, уанаахынҳәуа
урҭ зегьы абраҟа иуԥылап, рҵакыреи дареи еиҵаҩҩы.
Уажәазы урҭ рахьтә, иҳамоу рахьтә, ухы иузархәо арахә,
иуҭаху ҭи, иԥаратә-ишьаратә зҳәаз иеиԥш, уара узы акы
ҳаигӡом, аха ҳара ҳзыргәаҟуа иахьатәи уара уцароуп... —
абри еиԥш ажәа аниҳәо, Алиас игәы инарҳәом, илаӷырӡ
аахаҟәҟәалоит.
Уаҟа итәақәазгьы иара убас иааирҵәыуеит. Камаҷыҷи,
Есмеи, Рафидеи уҳәа урҭ еибарҵәыуо, еиҵақьуа наҟ ин
дәылҵны амаҵурҭахь ицеит, ҳашҵәыуо аӡәы ҳимбандаз ҳәа.
Иван даараӡа игәы рыӷәӷәаны дыҟан, сҵәыуарым,
иҳәеит, аха убригь илаӷырӡ аахаҟәҟәалеит. Уеизгьы Алиас иажәа даҟәымҵит:
— Мшаҽны иашьас уаныҟасҵа, ҭарџьманда ҳзеицәа
жәомызт, иахьа аԥсышәала ҳаицәажәоит уареи ҳареи,
аԥсуак иеиԥш, сашьа гәакьак иеиԥш, абри ҳабызшәагьы,
агәыблра ӷәӷәа иҳабжьалаз анаҩсгьы, кырӡа ҳаизааи
гәанатәит. Уеибганы уанеиқәха, ахынҳәра азин уоуртә
еиԥш ианыҟала, ҳаухоумыршҭын ҳара, ухынҳәы уҩныҟа,
уашьа сахь, — иҳәеит Алиас.
Иван даацәажәан:
— Мчымхарак ҳаиҟәнагоит, акәымзар шәара шәныжь
ны ацара даараӡа исзыхьанҭароуп, аха аусқәа ус иҟалеит,
уажәазы сцароуп аус ахьызуша, аус ҳәа сызҿу абри ареволиуциа аус, аполитика аус ахылаԥшцәа дук рылаԥш
сахьыҵамшәаша. Ари аус хара имцар ҟалап, иаарласны
иҟалап ҳәа ҳаигәыӷуеит. Нас, ҳәара аҭахума, сара схын
ҳәуеит. Арахә-ашәахә ҳәа иззуҳәо урҭ абра иҟоуп, саар,
сыҩноуп, иахьа уажәраанӡа ҳшыҟаз еиԥш ҳаҟазаап,
сзымаар, ҳәара аҭахума, уара иутәуп. Амала, сара сзыр
гәамҵуа иахьа ҳахьеиԥырҵуоуп, — иҳәан, илаӷырӡ ааха
ҟәҟәалеит.
Егьырҭ уаҟа итәақәазгьы ргәы ааирԥшааит.
Алиаси Ивани наҟ-ааҟ абри еиԥшқәа ажәа неибырҳәеит,
егьырҭ агәылацәа уаҟа итәақәазгьы Иван деибгадызҩыда дышхынҳәыша, нас урҭ риешьара нагӡара
аманы ишыҟалаша, рҳәан, аҵәыцақәакгьы ржәит. Нас
Иван дыццакуан аҟнытә, акампаниа дымроут. Аха гәык-
ԥсыкала инеибаныҳәан, инагылақәеит. Иван дгәыдкылдхыдкыл амҩа днықәырҵеит. Уи ахәылԥазы иҩызцәа
имбар ԥсыхәа имамызт, уахь дыццакуан. ԥыҭкгьы ицнаскьеит, днаскьаргеит, нас акраамҭа дызлацаз амҩахь
иԥшуа, ргәы изыбылуа игылан Алиас иҭаацәара.
XXXI
ЦАГӘААИ ҶАЛИААИ АИЗАРА ҞАРҴЕИТ
Цагәааи Ҷалиааи рқыҭан егьырҭ ажәларқәа ина
рылкааны аӷьычцәа мыцхәы иаарчычан, еимыр
ҵәаӡеит. Ҩба-ҩба, хԥа-хԥа хы рырахә рахь изцәымӡыз
ҳәа аӡәы дзыҟамлеит аамҭа кьаҿк азы. Нас арҭ аҩыжәлак
реиҳабацәа неицәажәан, маӡа аизара ҟарҵеит Ҭорҟан
иҩны, ируша-ирҳәаша неибырҳәаразы, абас еимызҵәо
деилыркааразы, изыхирҟьо рдырразы, нас иақәнаго уск
шьҭырхразы.
Ԥыҭрак ус ажәабжьқәа рҳәо итәан, ари аус иззеизаз
алацәажәара иаарласы аӡәгьы ихаҿы иааимгеит, ма ари
иҳәап, ма егьи иҳәап ҳәа, инеихәаԥшуа.
Нас Алиас днагылан:
— Дадраа сашьцәа! — ҳәа ҿааиҭит. — Сашьцәа аныс
ҳәо, Цагәаа рзы мацара акәым абри зысҳәо, шәара Ҷа
лиаагьы абра шәалоуп, избан уҳәар, шәареи ҳареи
ҳаишьцәазааразы, ҳацәгьеи ҳабзиеи акы акәзааразы
еибаҳҳәахьеит, ус аус шьҭаҳххьеит. Абри еиԥш аешьара ҳабжьазҵаз сара сыӡӷаб Камаҷыҷи Ӡыкәыр уԥа Алхас хәашеи роуп. Аха аиҳарак абри зыбзоуроу сара
сыԥҳа лоуп, арҭ аҩыџьагьы разҟы змаз џьоук ракәмызт,
ишыжәдыруа еиԥш, убарҭ рыла иҳабжьалаз аешьарагьы
нагӡара аманы, хаирк аҵаны изыҟамлар ҳәа сшәоит, избан шәҳәар, урҭ рыхьӡ анеихыла инаркны, гәышьҭыхрак
ҳаманы ҳзыҟамлеит: аԥсра уҳәару, абри ҳаимҵәаратәы
уҳәару, уи зысҳәо абарҭ аӷьычцәа ҭахак ахьҳарымҭо
азоуп, шьҭарнахысгьы ҳаԥхьаҟа иаҳԥеиԥшугьы анцәа
идырп, ҳгәахы нкыдгылаӡеит. Аиҳарак абри зегьы
сыӡӷаб илыхҟьаны иҟалома ҳәа сахәаԥшуа сыҟоуп, уи
сыӡӷаб ианлыхҟьа, нас саргьы уи агәҭа иалоу аӡә соуп,
ажәакала, сара исхараны исыԥхьаӡоит, убри азоуп зегь
шәаԥхьа ажәаҳәара сзалага...
— Умацара иухараны уиԥхьаӡозар ҳаӷа уара ухала
уахьирхәрын, аха уи ҳара зегьы авба ҳаиҭозар акәхап, —
иҳәеит Ҭорҟан.
— Ҵоуп, ҳаӷа сара сымацара сахьырхәра изимырхеит, имаҷишьеит, убри азы зегьы ҳнеидикылт, — иҳәеит
Алиас, — уажә аакьыскьа сыӡӷаб изхлырҟьа сыздырам
сира иамшуп, лҳәоу сыздырам, убасшәақәа Иван акы
лирҵан, кампаниак ҳзыҟалҵеит. Тәымуаҩы ҳәа аӡәгьы
дыҟамызт, ҳара аҩнатәқәа ҳакәын. Нас абри ҳҭаца Рафида, Мац иԥҳәыс, аҵәца аашьҭаҳхын, зегьы даҳныҳәеит,
нас лара сыӡӷаб Камаҷыҷ аҵәца аашьҭылхын, ажәақәак
лҳәеит, убри иаҵанакуа сазхәыцуеит, аха уажәыгь исзеилмыргацт, уажәы абраҟа ишәасҳәап иааркьаҿшәа,
шәаргьы шәназхәыц. Дызныҳәаз «иҭабуп» ҳәа ҳал
ҳәеит. Нас — «Санхәыҷыз аахыс ҳазҭаху зегь рахьтә
исаҳауан: «Абри дагьԥҳәысуп, дагьхаҵоуп, абри зыҩны
дыҩнагылоу инасыԥ бзиоуп, ларгьы насыԥ ду змоу аӡә
лоуп ҳәа. Аха усқәа иҟамлеит: анасыԥ ахь анасыԥ смоут,
ахаҵарагьы сара исызныҟәымгеит, аҳәсақәа рахьгьы сара
схьысҳахеит, акгьы сызмырҽеит. Уимоу, абри азалымдара ҳзықәшәақәо зегьы сара исывбоушәа исыԥхьаӡоит.
Убри аҟынтә сара бзиарак сақәшәаргьы, уи дуӡӡак
шәамеигәырӷьан; цәгьарак сақәшәаргьы, шәара сҭаацәа,
иара убас ҳашьцәагьы, гәалас сҟашәымҵан, сара исхароу аус сара ахы асҭап», — лҳәеит. Абри иаҵанакуаз сара
аӡәк, егьа зундазгьы, исзылмырҳәеит, саргьы исзым-
дрит. Абра иҟоу зегьы еишьцәоу ҳауп, убри азы имаӡоуп,
аха шәара ишәасҳәоит, — иҳәеит Алиас.
— Камаҷыҷ илҳәаз шәалацәажәо шәаналага, убри
аӡӷаб лҟынтә сыԥшәма илаҳаны исалҳәаз шәасҳәап. Уи
иҳәатәу сыздырам, даара имаӡоуп, аха иахьа абра ҳаз
зеиза маӡа-аргама иаадыруа неибыҳәаны, нас аус иахә
ҭоу акы шьҭаҳхыроуп, — иҳәеит Мац. — Уи ус лҳәеит:
«Абас ҳара аҩыжәлак ҳаимызҵәо Ҭаҭласҭан иоуп, уи ар
гама издыруеит. Уи зны сара сигарц иақәикын, аха нас
иҽааникылт хәыҷык. Иажәа зеиԥшраз ала, игәы иҭаз
ансеиҳәа, сара сыҩны иара иахь снеиуаз џьишьон, аха
иара сара дышсаԥханагьлам дырны, иареи сареи ҳшеи
маҭәахәымыз сназхәыцын, сҽааныскылт. Усҟан ажәа
исымҭеит, уажәшьҭа сара ԥҳәысеибак сылҩызоуп, Аҷалиа
ихьӡ анысхысҵа нахыс сгәахәын, аха уеизгьы уи ауаҩ
избо иҽнимкылт, иҳалиршаша сыздырам. Аха уажәшьҭа
сара схы сымшаҭароуп, схы рыцҳасымшьароуп, мап
анакәха, ҳашьцәа азалымдара зыхьқәо, шьҭарнахысгьы
уи згымхо, рыгәнаҳа зегьы сара исықәшәар ҟалап», —
лҳәеит.
— Уажәраанӡа иҳаҳаз аҵкыс еицәоу ажәа уажәы абра
иҳауҳәеит, — рҳәеит уаҟа итәақәаз.
— Уи лажәақәа зеиԥшроу ала, ҳара иӡбуа ишҳамоу,
лара ари ҳус акаллыршар ҟалап, — иҳәеит Кьагәа, даахы
самырҟәылшәа. Уаҟа зылахь еиқәны итәақәазгьы хәыҷык
иааԥышәырччақәеит.
— Алиас ииҳәазгьы саҳаит, абраҟа Камаҷыҷ илажәоуп
ҳәа Мац ииҳәазгьы саҳаит, аха сара сгәы иаанагогьы
абраҟа исҳәоит. Абри Ҭаҭласҭан ҳара афы даҳзикит;
ҳарахә зегьы ҳхызцо убри иоуп. Уи сҳәеит ҳәа, иара инапала, ихала абра итәақәоу аӡәы ҳбоура дҭаланы акы имгацт. Урҭ ҭауади-аамсҭеи дара рнапала акгьы ҳцәыргаӡом,
ҳара ҳашьцәа зҳәаз иеиԥш, анхацәа, рыбзыцәашьцәа
рыла ҳхыршьаауеит. Урҭ жәытәнатә аахыс қьабзыс ирымоуп ҳара анхацәа ҳаичырчаны, ҳхибарҵәо ҳныҟаҵаны,
нас дара қьаф ҳаларуеит. Ҳара анхацәа, аԥсацәа, абри
рыцҳараны иҳамоуп жәытәнатә аахыс. Ари ҳара иа
ԥаҳхуеит ҳәа ҳалагар, ҳамч злақәхозеи! Аха ас мацара
абри ауаҩ дауҳажьыр, зынӡак ҳақәихуеит; аха уеизгьы
ҳара аҭаҳмадцәа егьҳалымшаргьы, ҳаҷкәынцәа ирҳәо
сара исаҳауа зеиԥшроу ала, шьҭак уаҳа рзымчҳауаҿы
инеит. «Ма ҳара ҳаҟамзароуп, ма — уи нап ҳалазкыз!»
— рҳәо иалагеит. Иахьатәи, ҳаизара убри иазаҳкып,
сгәаныла, зегьы абри аус ҳнашьҭалап, иаҳзызуа даадырааит, аха знапала иҳахьуа дҳаздырам. Уи зысҳәо аӡә
иакәхашам; ҩыџьагьы ракәзааит, урҭ нхацәоуп, ҳәара
аҭахума. Урҭ рахьырхәышьа ҳара ҳақәшәап. Урҭ хыс
ирымоугьы ҳаҷкәынцәа, ҳҳәап, ҳбыргцәа, ҳҳәап, хәыҷык
хнеизышәарацап, — иҳәан, иажәа даалгеит Ҭорҟан.
Ӡыкәыр даацәажәан:
— Ииашоуп, иахьа абри ҳазлацәажәо аус даара
крызҵазкуа усуп ҳара ҳзы, аха ҳара абыргцәа ҳамацара
ҳакәым абри зусу, ҳара ҳҿарацәагьы абри ус дус ирымоуп, абри аҵыхәала, аӡәы схы нақәысҵандаз, зҳәогьы
дыҟоуп. Абраҟа Ҭорҟан ишиҳәаз еиԥш, убырҭгьы цқьа
ҳанрабжьаны, абри аус иназаҳкыр, акы аадмырԥшыр
зыҟаларым, ма аӡә дақәыркып ишиӡо, ма абоура дҭар
кып, нас уи изаауша усҟан иаҳҳәап. Аха уеизгьы, ари аус
ҳазлацәажәо аҵыхәа ԥызҵәаша иахьа абра егьҳзышь
ҭыхуам, даҽазны ҳаизап. Уаанӡа ма ҳаӷа иԥсра ҳаҳап,
ма уи имаркалцәа43 – аимҵәацәа аӡә даҳԥыхьашәап;
ианамуӡагьы, нас ӷәӷәала уск нышьҭаҳхып, иахьатәи
еиԥш акәымкәа. Ҳаргьы ҳуаауп, ак ҳалшап, ауаҩы дгәа
ҟыр, илымшашагьы акы илшароуп, — иҳәеит.
Зегьы убри инақәшаҳаҭхеит.
Амаркалцәа — ҭауади-аамсҭеи анышәарыцоз ашәарах абна
ирзылызцоз ауаа ирыхьӡуп.
— Лара Камаҷыҷгьы иахьа абра дҳамазар, абри ҳаз
лацәажәо аус азы кырӡа еиӷьын, насгьы лара лажәақәа
рхы ахьхоу ҳзымдыруа, зеилыргара уадаҩугьы лара еилырганы иҳалҳәарын, — иҳәеит Кьагәа. Мац уи аҭакс
даацәажәан:
— Иахьа убри ладгалара ҳаҟәыҵп, уимоу, абри ҳаз
лацәажәо аусгьы, уи зысҳәо абри иахьатәи ҳаизарагьы,
уи илзымдыруазар еиӷьуп, избан шәҳәар, иахьа абри
аус дадҳаԥхьалар, даҽакала илыԥхьаӡар ҟалап, абри
зегьы зхароу, изывбоу бара боуп, абри азы иҳабҳәозеи
ҳәа лаҳҳәошәа иҟалоит. Згәыжәла цәгьоу аӡә лоуп, иаҳ
гәамхәӡо акахьы ииалгар ҟалап, усгьы лара илҳәоит аргама абри зегьы зхароу сара соуп ҳәа. Убри анаҩс лара
дааурцәажәар, уеизгьы уажәраанӡа илҳәаз инацҵаны
ҳәа ак ҳазҳәо лакәӡам, — иҳәеит.
— Мап, иахьа абра ҳаизарахь ладыԥхьалара аҭахӡам,
иамҩаӡам, — рҳәеит уаҟа итәақәаз егьырҭгьы.
Нагә даацәажәан:
— Иахьатәи ҳаизара абриала мацара ҳалгарцы ҳгәы
иҭазҭгьы, ҳмеизаӡар иаҳа еиӷьын. Иахьа иаҳҳәаша ҳама
мзар, даҽазынгьы егьҳауам, амала ҳнеизаны, самыр
ҟәылқәак ҳәаны ҳнеимыҵроуп. Убри аҵкыс еиӷьми,
Камаҷыҷ илҳәои лгәы иҭоуи ракәым ҳара ҳзышьҭалаша.
Ҳара даадыруеит ҳаӷа, ихьӡ аадыруеит, ижәла аадыруеит, нас ҳара иаҳуалуп изаҳзиуа аилкаара, насоуп ҳара
иҳалшаша, ишҳалҳаршаша анааҳаӡбыша. Убри азы, сара
сгәаныла, ҳара зегьы иаҳуалуп ԥасаӡа, изаҳзиуа цқьа
еилаҳкаарц, — иҳәеит.
— Уи заҳзиуа, убас дызҳазныҟәо, даҽакы ыҟазаргьы
ҟалап, аха сара издыруа, уара дыҩноумдеит, сара
дыҩнасымдеит, зҳәаз иеиԥш, ҳара ҳажәлантәык аӡәы уи
дыҩнеимдеит, рахәҭиаа иимҭеит, нас дабаҳзымгәаауеи,
игәы ԥжәаны дахьымԥсыз — уамашәа изумбозеи, ҳаԥ
ҳәызбагьы ҳаргьы убриоуп ҳазхирҟьо, — иҳәеит Ҭорҟан.
— Сара уи сырахә имӡааит ҳәа, гәыбӷан симҭааит, дыс
зҩнадарым. Сырахә иӡар еиӷьуп, ус сара снапала инаганы исыркыр аҵкыс. Ашықәсан акы, ма ҩба ракәхап
исцәиӡаша, дыҩназдар акгьы изхом, — ҩбагьы... Насгьы
есышықәсан ихәы нагарагьы цәгьоуп, акы анааиҭаххо
есқьынгьы ушә дылагылазаашт, абри сыҭ, егьи сыҭ ҳәа.
Хараӡа иаҳа азарал уалеиҵоит.
— Аҭара уҳәоит, дыԥсыр иара, ма иԥҳәыс, ма ихшара
усҟан ишԥоууеи? Дуџьабароуп, акымкәа-ҩбамкәа ацәқәа
уи иԥсы иоуҭароуп, — иҳәеит Ӡыкәыр дахьтәаз.
Нагә деиҭаналагеит иажәа:
— Мап, урҭ рыҩнадаратәык соумҳәан, исцәыӡлак
сцәыӡааит. Знымзар зны акы шԥеиқәԥысымҽри, нас
ҳаицәажәап ӷәӷәала, — ҳәа даамақаршәа иажәа даалгеит.
— Ахьырхәра уара иулшозар, иахьа абра ҳзеизоз,
даҽазынгьы ҳзеизозеи? — иҳәеит Ҭорҟан дахьтәаз.
— Ауаҩы дгәаҟыр, дшыр, акы илшаргьы ҟалоит, «ахаҳә
уршыргьы, итҟәацуеит», — иҳәеит Нагә.
— Ҷалиааи Цагәааи макьана урҭ рыжәла аӡәгьы иҩ
неимдац, шьҭарнахысгьы урҭ ахьыҩнардо егьыҟам, —
иҳәеит Ӡыкәыр.
Саргьы убриоуп сгәы иаанаго, аха абри азоуп ҳара
аҩыжәлак уаа ԥагьас ҳзырԥхьаӡо, — иҳәеит Ҭорҟан.
— Ԥагьас моу, шәынтә ԥагьас сиԥхьаӡаргьы, Ҭаҭласҭан
дааганы дахьыҩназдо егьыҟам, — иҳәеит Мацгьы, наҟ
насҭхашәа дахьтәаз.
— Ма дыҩнашәымдар, ма даҽакала дышәзахьмыр
хәуазар, ас еизарала иҟашәҵо егьыҟам. Уи аҵкьыс,
аԥхьашәа иаҳҳәан еиԥш, даҽазны ҳаизап абри аус
аҵыхәала, иаҳа ҳҽазыҟаҵаны иаауша, иаҳҳәаша цқьа
ҳназхәыцны, — иҳәеит Қәаблыхә.
Зегьы убри инақәшаҳаҭхан, имақар-чақаруа, абри аус
аҵыхәала ма зегь ҳақәынҵәароуп, ма акы ҳалҳаршароуп
ҳәа инықәҵит, аха уеизгьы Алиас инаиабжьеит, убри
аӡӷаб, ҳара хшынеицәажәа-ааицәажәо, иакәым ус цәгьак
лымпыҵымҟьааит, цқьа уаалхылаԥшла ҳәа.
XXXII
КАМАҶЫҶ ҬАҬЛАСҬАН ДИЦЦЕИТ
Зны хәылԥазык Камаҷыҷ лчамадан аашьҭылхын,
Рафида лыҩны инышьҭалҵан, — Уаҵәы абри ачамадан иҭоу сымаҭәақәа сыӡәӡәап ҳәа сыҟоуп абра бара
бҟны, уаха абра иҟазааит, — лҳәан, днахынҳәын, лыҩныҟа
дааит. Абас лулон Камаҷыҷ зны-зынла. Абраҟа абас зылузи ҳәа акы уҳәартә, гәҩарак ҟоуҵартә егьыҟам.
Убри ахәылԥазы, ааилашәшәымҭазы,лҽы аарыцқьаны
акәадыр нақәылҵеит, нас маҭәа цқьала, маҭәа бзиала
лҽааилалҳәан: — Уаха Адқьа лахь сцоит (Адқьа Камаҷыҷ
лан лаҳәшьа лакәын), уаха уа саанҿасуеит, уаҵәы шьы
жьымҭан саауеит, — лҳәеит. Абригь уажәы мацара
акәӡам уахь лцара, зны-зынла ус уахь дцалон, хаҵа ҽуа
ҩык иеиԥш. Абраҟагьы абас зылузеи, лымацара дызцозеи уҳәартә ус ҿыцк ҟамлаӡеит.
Дынҽыжәлан,
Рафида
лҿы
дынкыдгылт.
Дынҽыжәԥаны днаскьалԥхьан, — Сара сцоит убрахь... —
лҳәеит.
— Иабыкәу, нанхеит, убрахь?
— Убрахь, бымбои, сахьымаара!
— Нанхеит, закәызеи ибҳәо? Дахьымаара ҳаӷоу дцааит!
— Зны, зны сҳәаргьы, уажә аакьыскьашәа акы блымҳа
иҭысымшьызи, убрахь...
— Нас уи дабаҟоу, бара бабаҟоу? Рафида дыбцәыԥ
сааит, нан, с-Камаҷыҷ, сыхаара... — лҳәан, инеимаҭәа
аҵәыуара дналагеит, — абри аус бара ибгәаԥханы баламлеит, гәаҟрак ибнаруит. Рафида дзымԥсуазеи!.. — лҳәан,
аҵәыуара даҿуп.
— Ас бҵәыуозар, быҵх аабзиахааит ҳәагьы басҳәом,
аха ибасҳәо убри ауп: сара сышцалак, сышьҭахь ҷкәынак
дааиран дыҟоуп, убри иҭ счамадан, аӡәӡәатә сызҭоуп ҳәа
збасҳәаз, насгьы ибдыруазааит, уаха саныхнымҳә, убрахь
сцеит... убрахь иахьбасҳәаз. Аха аӡәы дҵәыуо дҟамла
роуп, гәалак рыманы сыԥшаара иашьҭамлароуп, ицәҳаишҳа акы рымҳәааит. Сангьы, сабгьы, сашьцәагьы, бара
уаҵә ашьежь бнеины, убарҭ исызраҳә сара ибасҳәахьоу,
усҟан лакәҵас ибасҳәеит, аха уажәы аргама иҟалаз акоуп.
Шьҭа сцоит, — лҳәан, ингәыдибакылан-инхыдибакылан,
еибарҵәыуо инеиԥырҵит.
— Уеизгьы-уеизгьы ибасҳәаз, сахьцаз, зҳәаз иеиԥш,
шьыжьы сҭаацәа ираҳә, уаанӡа аӡәгьы иабымҳәан. Леуани Ивани сысалам сызрыҭ. Урҭ рзы ибасҳәахьоугьы
урҭ исызраҳә. Нас дара рҩызцәагьы, урҭ дара ирдыруеит, ианеибабо, ирхамшҭыкәа сысалам рырҭааит, —
Ахьышәҭҳәа, аҵыс еиԥш лҽы дынҽыжәԥалан, агәашә
дынҭҟьа дцеит, деигәырӷьаны дцошәа.
Рафида иҟалаз, илаҳаз уамашәа ибаны днаԥшы-ааԥ
шуа, дҵәыуо дгылан.
Убри иақәырццакны ҷкәынак, апҟақьҳәа иҟамчы
иҽы амгәацәа иныҵеиҵан, агәашә дааҭалт. Камаҷыҷ
лчамадан азы сааит, аниҳәа, инеилыркит, алашьцаразы
дышҵәыуоз имырбакәа.
Рафида амӡырха дықәгылан даара акраамҭа дҵәыуо,
иҟалаз ззымдыруаз лхәыҷқәа лызҿырҭаанӡа. Нас лыла
ӷырӡқәа налрыцқьан, аҩны дныҩналт деилууа-илҳәо
лзымдыруа. Аха уеизгьы лхаҵа Мац даанӡа, илныԥшуа
лҽыҟалымҵеит. Ус лхаҵагьы дааит, аха иԥҳәыс Рафида
лылахь еиқәуп ҳәа иҳәартә димбеит.
Аҵх кыр анца, зегь нышьҭалақәеит. Ицәеит зегьы
абраҟа аҭаацәа, иара убас ҭынч ицәан Камаҷыҷ лҭаа
цәагьы, лашьцәагьы, Рафида заҵәык лакәымзар.
Рафида дызмыцәо дахьышьҭаз, ианшалак ԥаса лхаҵа
иалҳәарызу, ма Камаҷыҷ лани лаби иралҳәарызу лыздырамызт. Насгьы ԥхыӡу-лабҿабоу, мшәан, сзықәшәаз, избаз ҳәа, убри дазхәыцуан. Ус, дмыцәаӡакәа иаалыршеит.
Уажәы илыӡбит ԥаса лхаҵа иалҳәаразы, нас Алиасраахь дцаны иралҳәаразы, ишылҳәашагьы хәыҷык лхаҵа
дизҵааны. Аха Камаҷыҷ лажәа, «уаха санымаа, шьы
жьымҭан бнеины сҭаацәа исызраҳә» ҳәа илҳәаз, аныл
гәалашәа, ԥаса дцаны еилылкаар акәын Алиасраа рҿы
Камаҷыҷ иаха даау-дмаау, насоуп ианылҳәаша. Иаарласны дцеит Алиасраа рахь. Уаҟа Есма амӡырха ԥссо дгылан.
Днеин длызҵааит, Камаҷыҷ иаха даама ҳәа.
— Мамоу, дмааӡеит, — лҳәеит.
— Амц сбымжьозааит, издыруада бара дбымбакәа дааны дышьҭалазар, — лҳәан, Рафида днеин, Камаҷыҷ луаҭах
дныҩнаԥшит, аха илбодаз, Камаҷыҷ дыхнымҳәӡеит.
— Ибуазеи, Рафида, сыгәра бымгои, дмааит ҳәа бас
ҳәеит, аха бара бнеины луаҭах быҩнаԥшуеит, — лҳәеит
Есмагьы.
— Сеидру, быхәмаршәа амц сыбжьозар, сҳәан, снеины
схала луаҭах сныҩнаԥшын, агәра згеит дышхнымҳәыз, —
лҳәан, иаарласны лыҩныҟа лҿыналхеит.
Алиасгьы ибжьы нлықәиргеит Рафида бзырццакызеи
ҳәа, аха дхьамԥшӡакәа лыҩныҟа дцеит, лара днеиаанӡа,
лхаҵа џьара дцар ҳәа дшәаны.
Рафида дыццакы-ццакуа иаарласны дхынҳәны дшаауаз, лхаҵа Мац ианиба: — Ибуазеи бара, быҭрысн быҩуа
баауеитеи, бахьнеиз ибыҵаҟьама? — иҳәеит.
— Мамоу, исмыҵаҟьеит, аха сара схынҳәаанӡа уара
џьара уцар ҳәа сшәаны, сааццакит, — лҳәеит.
— Сара сабацоз, ара сыҟами; кыр сабҳәарц бҭахума?
— Мамоу, акгьы уасҳәомызт, аха...
— Аха ҳәа ибҳәаз змааноузеи? Бахьнеиз ажәабжь
ҿыцк барҳәазар акәхап. Бзеигәырӷьашаз акоуп сҳәар,
бҿанԥшылара ус избом, уеизгьы ибаҳазеи? Алиас ирахә
крырӡазар?
— Алиас ирахә рахь цәыӡ имам, ажәабжь ҳәагьы уаҟа
егьсарымҳәеит, урҭ исарҳәоз, сара соуп ажәабжь здыруа,
аха урҭ исызрамҳәеит, уара сузымҵаакәа...
— Закәызеи, иҟалазеи? Бхәаԥшҭәгьы бааԥсылашәа избоит, былаӷырӡгьы аахаҟәҟәалеитеи, бааԥсрак ҳақәым
шәакәа ҳаҟам, исаҳәишь бааласны!
— Бааԥсроу, бзиароу сыздырам, аха... Ишуасҳәара сыздырам... Дук гәаласгьы иҟоумҵан, уагьамыргәырӷьан...
Убри лара лажәоуп...
Исалҳәарызеишь ҳәа, дгачамкны, ила ҭраа длыхәаԥ
шуеит Мац.
— Камаҷыҷ хаҵа дцеит!
— Ишԥа, џьушьҭ!.. Алиасраа ирзымдыруеи?
— Урҭ макьана ирыздырӡом.
— Нас бара ибазҳәада?
— Сара исазҳәада, умбои, лара исалҳәеит.
— Нас Камаҷыҷ уажәы лыҩны дыҟаӡами?
— Лыҩны дышԥаҟоу, хаҵа дцеит ҳәа уасҳәеитеи! —
лҳәахт.
Мац деилууа, ииҳәара изымдыруа, зхызтәым
аӡә иеиԥш, днаԥшы-ааԥшуа дгылан акраамҭа. Нас
даацәажәан: — Абри акәын иҳагыз, убригь уажәы
инаҳзацлеит, — иҳәеит, даақәыԥсычҳан. Нас днатәан
акраамҭа дхәыцуан, Рафидагьы ҿымҭ-ԥсымшьа уахь
дихәаԥшуан.
— Уи ус иҟалеит, аха дзыццада? — иҳәан, длызҵаахт.
— Дзыццада, умбои...
Мац илымҳа кыдҵа дылзыӡырҩуеит илҳәарызеишь
ҳәа, ԥыҭрак дзыццаз ихьӡ лымҳәеит лара.
— Дзыццада, умбои... Ишԥауасҳәари... Ҭаҭласҭан диццеит.
— Ишԥа! — иҳәан, дныҩныҟааит. — Ҳалшьит, лана
џьалбеит! Џьаным ҳаихыччон, иԥҳа амш лылеигеиг Аслан ҳәа, хычча ихаҿы иаауеит ҳәа ирҳәоз — абра ҳара
иҳахьт, Џьаным иҵкыс еицәаз ауп ҳара иҳахь; ҳаишьит,
ҳанирҵәеит уи ауаҩ! Нас макьана абри аус лани лаби
ирыздырам, бҳәама?
— Ааи, макьана ирыздырӡом.
— Иаха дцазар, данымаа, иахьа данырымба дабацеи
ҳәа иналышьҭамԥшӡеи?
— Лан лаҳәшьа Адқьа лахь дцеит ҳәа итәоуп урҭ ҭынч;
убас ралҳәеит уи дҽыжәланы данцоз...
— Ҳнеипишь, уахь ҳнарыдҵаалапишь, — иҳәан, амҩа
инықәлеит, даара рылахь еиқәны.
Агәашә ианҭала нахыс аҩны асоф аҟнытә Алиаси Есмеи рзыԥшуан, рнеишьа мбатәшәа ибаны.
— Мац, закәызеи уара, ишәаашьоузеи Рафидеи уареи,
ауалҳәацәа реиԥш наҟ-ааҟ шәнышьҭаԥш-аашьҭаԥшуа?
— иҳәеит Алиас дазаасамырҟәылшәа.
— Ауаҩ ибӷа ԥҵәар, ибӷа анизеиҵымхлак, ҵаҟа дыԥ
шып, уаҳа дабаԥшуеи, — иҳәеит Мац.
— Ҳаи, џьушьҭ, иҟалазеи, убӷа ԥызҵәазеи?! — рҳәан,
хаҵагьы ԥҳәысгьы асоф инылбаан, инарԥылеит, иҳар
ҳәарызеишь ҳәа ишәаԥырҳаԥуа.
— Абра амӡырхаҿы ак роумҳәан, — лҳәан, Рафида
лхаҵа днаԥлырҟәҟәааит, ус аҩны иныҩналт.
— Иҟалазгьы уажәы ишәасҳәап ицәгьоу-ибзиоу
уи шәара шәазхәыц, амала Камаҷыҷ исалҳәаз
абри ауп, гәалсыс ишыҟарҵаз аӡәы идмырдырааит, ирындмырԥшааит, уаҩы иарымҳәааит, хықәҵас
иҟарымҵааит... — лҳәеит Рафида.
— Нас иҟалазеи, лара изҳәаз ҳаӡӷаб дабаҟоу? — рҳәеит
инеицҿакны хаҵеи ԥҳәыси.
— Хаҵа дцеит... Ҭаҭласҭан дигеит,—лҳәеит Рафида.
Ари шаараҳаз еиԥш, Алиас иԥҳәысгьы иаргьы аҟәыҿыҳәа
асқам инықәҳан, инеимаҭәо аҵәыуара иалагеит.
— Сыхәда ҳәызба цагәыла иԥылҟеиит, сзеигәырӷьоз
сыԥҳа заҵәы, — иҳәан, инеимеиҭәеит Алиас.
Лан, аҵәыуара анаҩсгьы, амыткәмаҳәара лҽыназыл
кит, аха Маци Рафидеи, быбжьы аӡәы ианиаҳа, зегь ҳаб
шьит, ҳанбырҵәеит ҳәа днацәдыршәан, дааныркылт.
Нас хаҵеи ԥҳәыси рҵәыуара иааҟәыҵын, иӡыҩӡа
инатәеит ихәыцуа. Ашьҭахьӡа кранааҵ, Алиас Мац диз

Sie haben 1 Text von gelesen Abchasisch-Abaza Literatur.
Weiter - Камаҷыҷ - 12
- Teile
- Камаҷыҷ - 01Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3427Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21200.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 02Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3560Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21420.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 03Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3585Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21580.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 04Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3658Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21080.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 05Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3602Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21330.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 06Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3557Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21770.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 07Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3624Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21560.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 08Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3603Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 21050.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 09Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3585Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 20250.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 10Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3675Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 20860.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 11Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3579Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 20070.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 12Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3636Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 20770.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 13Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 3667Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 20400.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern
- Камаҷыҷ - 14Jede Zeile stellt den Prozentsatz der Wörter pro 1000 häufigsten Wörter dar.Die Gesamtzahl der Wörter beträgt 552Die Gesamtzahl der eindeutigen Wörter beträgt 4220.0 der Wörter gehören zu den 2000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 5000 häufigsten Wörtern0.0 der Wörter gehören zu den 8000 häufigsten Wörtern